360
ШЬАЛОДИА АЏЬЫНЏЬАЛ ШАҞА ЕИЦӘЫХАРАХОЗ АҞАРА ЕИЗААИГӘАХОН Ароман Аԥҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа Аҟәа 2015

apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

  • Upload
    others

  • View
    2

  • Download
    0

Embed Size (px)

Citation preview

Page 1: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

ШЬАЛОДИА АЏЬЫНЏЬАЛ

ШАҞА ЕИЦӘЫХАРАХОЗ АҞАРА ЕИЗААИГӘАХОН

Ароман

АԥҳәынҭшәҟәҭыжьырҭаАҟәа 2015

Page 2: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

ББК 84(5Абх) 6-44 А 99

Аџьынџьал, Шь. М.А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон.

Ароман. Аԥҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа. Аҟәа, 2015. – 360 д.

Иеицырдыруа аԥсуа шәҟәыҩҩы, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиеи Владимир Маиаковски ипре-миеи занашьоу, Жәлар бжьаратәи ашәҟәы ҩҩцәа Реид-гыла алахәыла Шьалодиа Аџьынџьал ироман ҿыц «Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон» азкуп 1992–1993 шықәсқәа рзы ҳажәлар ирхыргаз Аџьынџьтәылатә еи-башьреи уи ашьҭахьтәи аԥсҭазаареи.

ББК 84(5Абх) 6-44

© Аџьынџьал, Шь.М., 2015 © Аԥҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа, 2015

Page 3: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

3

ШАҞА ЕИЦӘЫХАРАХОЗ АҞАРА ЕИЗААИГӘАХОН

Ароман

Хаха-хымш ҵуан Алиас Ахаҳәба ӷәӷәала дыхәны, аибашьра далганы дааганы Гагратәи ахәышә-тәырҭаҿы дышьҭазижьҭеи. Аҳақьымцәа уахгьы-ҽынгьы иаарылшо зегьы ҟарҵон, аха еиҳа-еиҳа деицәамхозҭгьы, аиӷьхара ҳәа егьимамызт. Ахдыр-ра имамызт. Ишоура рзыртәомызт, дбылны дцон. Иаҳәшьа дыгәжәажәо дидтәалан. Ахԥатәи амш анҵәамҭазы, иаалырҟьаны ишоура лаҟәит. Иаҳәшьа Зина дгәырӷьеит, ажәҩан ахь дзымԥрит, уаҳа егь-лыгымхеит, разҟы хәыҷык ҳамазаарын лҳәеит, аха аҳақьымцәа дахьрыхәаԥшуаз деиқәхар ҟалоит ҳәа гәыӷра хәыҷык лызҭаша акгьы рнылымбааит.

Ишоура атәараҿы иаанымхаӡеит, зынӡа илаҟә ӡеит. Ицәеижь ахьшәашәараха иалагеит. Иаҳәшьа, улы-сыр шьакәарак лылымҵуа, инапы хьшәашәақәа кны дидтәалан. Аԥсеизгара даналага, аҳақьымцәа хәарҭа шизрымҭоз анырба, иаҳәшьеи иареи еизныжьны, инаскьаны иаагылт рхы рыкәаҽны. Дрыцҳашьаны лашьа дихаагоит ҳәа рҽазырымкит. Рҽазыркыргьы лара илураны дыҟазма, уахьцо сумгакәа усышьҭуам ҳәа дилаԥсны дылкын. Инапы хьшәашәақәа лгәы иадҵаны илкын, исзырԥхозар ҳәа.

Page 4: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

4

Ахәцәа ишьҭаз рхьаа рхашҭны, хәылбыҽхаахыс ишьх ныԥ сылан ишгылац игылан апалата аԥхьа. Иша ӡомызт уи аухатәи аҵх. Аӡәгьы лацәеихьшь ҟаи ҵомызт. Алиас иԥсы ықәхан иҟан. Ишандаз ҳәа зегьы гәаҟуан. Ашамҭа аҟынӡа иԥсы изнагар… нас, анцәа дицхрааны, издыруада деиқәхаргьы ҳәа игәыӷуан. Урҭ ирхырымгацзи ирымбацзи ҳәа иҟаз! Аҵх наскьацыԥхьаӡа еиҳа-еиҳа ихьамҭахон. Аамҭа мцаӡо џьарак иаагылазшәа, ишаӡомызт. Алиас иаҳәшьа лыбжьы раҳар аԥсра ахыркаау-ан, аҿымҭрацәгьа рзыҟалан еиҵаӷәӷәа ишгылаз, «аҳақьымцәа, шәласы, шәласы» ҳәа лыԥси-лыԥси еихьымӡо иаҳәшьа лыбжьы апалата иаадәылҩит. Ахәыцра хьамҭа иҭагалан иамаз иаалнахит. Лыбжьы заҳаз, Алиас иаҳәшьа шлакәыз рдырит, аха иаанагоз рзымдырит. Митә сзыҟалеит ҳәа дгәырҩацәгьаха, ахьшәашәахара иаҿыз лашьа инапқәа аумышьҭӡакәа лгәы иадырӷәӷәаланы ишылкыз, аԥсыԥха рылало ишалагаз лбеит. Дгәырӷьацәаны иҟалҵара лзым-дыруа даныҟала, дшаҟьо дшихагылаз, аҳақьымцәа лыгәшәамшәа ҳәо, шьҭа ачымазаҩи ҳареи ҳаизныжь рҳәан, апалата аанлыжьырц илыҳәеит.

Итәарц егьзыгӡамыз игәы маҷ-маҷ аусура иалаге-ит, еиқәыԥсахьаз илацәақәа хәыҷы-хәыҷла иаатуа, илақәа рыбжа ааԥшит. Иқьышәқәа, еихаԥсны иҟаз, аҵысра иалагеит. Ахәылбыҽха аахыс аԥсеизгара иаҿыз аԥсеивгара даналага, зегьы гәырӷьеит.

Далҵит. Шьҭа егьимыхьыр ҟалоит ҳәа адәахьы игылаз ианраҳа, идныҳәаларц иалагеит. Аҳақьымцәа иргәамԥхеит, аха аибашьцәа рзаанымкылт. Иша-аихагылаз еиԥш, уҩызцәа зегьы ара ҳаҟоуп, акы уацәымшәан, аригьы фырхаҵарала уаиааит рҳәеит игәы рыӷәӷәо.

Зыбжа аартны иҟаз иблақәа рыдхаланы дры-хәаԥш уан акыраамҭа. Акреиҳәарц иҭахын,

Page 5: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

5

иқьышә қәа ирҵысуан, аха ибжьы изыҭкаауамызт. Шьҭа иазхоуп… Нас шәызхара шәеицәажәалап, уажәы шәдәылҵроуп, апроцедурақәа ҳрылагоит, аҳақьымцәа руаӡәы даарыдгылан, ибжьы рмаҷны иреиҳәеит.

Инеихыҵны ашә ахь рҿанынархоз аамҭаз, Али-ас, ииулак иқьышәқәа мчыла иааихихын, шәхынҳәы иҳәеит. Ибжьы аарла ираҳаит, рызегьы хынҳәны еиҭааихагылт. Акыраамҭа дрыхәаԥшуа, иԥсы не-ивга-ааивго, – C… С-Сафарбеи шәара шәаԥхьа даа-ихьан… Абра дысхагылан… Нас даб… бба...цеи?.. – иҳәеит. Уи ашьҭахь уаҳа ажәак изымҳәо дааҟалеит. Далҵуашәа далаган, аха ишихәаԥшуаз деиҭашәеит.

Далҵит ҳәа анраҳа ишԥагәырӷьаз… Иҩызцәа идымҵкәа идтәаланы иацәажәо, ихьаа хырҽырц, игәы дырӷәӷәарц шԥарҭахыз, аха агәыӷра рызҭаша ҳәа егьшыҟамыз анырба, ирзымычҳакәа адәахьы идәылҵны иааилагылт еиҵаӷәӷәа.

Сафарбеи дааины дихагылазшәа зибазеи? Ари бзиа рак иамаанамзар ҟалап рҳәан, уамашәа иба-ны инеи ҿаԥ шы-ааиҿаԥшит. Алиаси Сафарбеии еиқәлацәан, иан хәы ҷыз аахыс бзиа еибабон, актәи акласс инаркны аҵа ра еицырҵон. Ашколгьы еи-цалгеит. Ҽнак еибамбар рзыч ҳауамызт. Алиас Аԥснытәи ақыҭанхамҩатә институт дҭалеит. Са-фарбеи – Аԥснытәи ауниверситет аҭоурыхтә фа-культет.

Аибашьра алагара шықәсык шагыз, аҩыџьагьы рҵарақәа ирылганы аусура иалагахьан дара рқыҭа гәакьаҿы. Аӡәы дырҵаҩын, егьи аколнхара агрономс дыҟан. Мызкахь знык, ҩынтә Аҟәа ицон, рҩызцәеи дареи еибарӡуамызт, еиқәшәон, гәырӷьахәла аамҭа еицырхыргон.

Аибашьра уаҵәы иалагараны иахьеиԥш, Аҟәа_ҟа ицарц еибырҳәеит. Имцацижьҭеигьы такәы

Page 6: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

6

ааҵуан. Ианцаша, излацаша иалацәажәо ишгы-лаз, Дамеи даарыдгылт, (уигьы дара рҩыза иа-кәын). Ашкол даналга ақыҭаҿы даангылт. Анхара нап аиркит. Ақьырмытӡырҭа ааиртит. Ақыҭаҿы бжеиҳараҩык рыҩнқәа зладыргылаз иӡны иҭижьуаз ақьырмыт ала акәын. Сара шәызгоит уаҵәы Аҟәаҟа, сналамԥшижьҭеи акырҵуеит, иҳәеит. Иахьцоз аниарҳәа, утрактор ала ҳаугома, рҳәан иаахәмарит.

– «Жигули» ҿыцӡа иаасхәеит иацы. Аԥхьа шәара шәақәыртәаны шәсыркатааирац сҭахуп, – иҳәеит иара.

Ишааихәаз рыздырӡомызт, идырныҳәалеит. Ма-шәыр ақәымзааит ҳәа иақәныҳәеит. Уаҵәы асааҭ жәаба рзы иахьеиқәшәаша еибырҳәеит.

Сафарбеии Алиаси ианырҳәаз аамҭазы иааит. Дамеи дмааицызт. Уажәымзар-уажәы дааиуеит ҳәа ишыԥшыз, аамҭа акыр ахыло ианалага, џьара дах-нагама, имашьына акы ахьзар ҟалап, рҳәан, автобус аангыларҭахь ицеит. Уа иахьнеизгьы, автобус ааира-ны ианыҟаз аамҭа иахыԥеит. Иазыԥшны игылаз ауаа рацәаҩын. Зныкгьы дагхо ҳәа ҟамлацызт, абылтәы ыҟаӡам рҳәеит. Имоузар, аашьас иҟаиҵоз… шьҭа дмаауазар акәхап ҳәа игәамҵхамҵуа ишгылаз, авто-бус кылҟьа иааины иаагылт.

Амашьынаныҟәцаҩ автобус иазԥшны игылаз ашә рзааимыртит. Даацыԥхьаӡа аԥсшәа хааӡа иразҳәоз, гәалак шимоу убаратәы дааҭыҵын, ҿымҭӡакәа даа-рыдгылт.

– Ашә ааумыртӡои, иухьзеи, иахьа акалашәа уа-абоит. Уҳаиҭҟәиҭ ыҟаӡам. Уаацыԥхьаӡа ажәабжь ҿыцқәа ҳзааугалон… – рҳәеит, иҿымҭра уамашәа ибо.

– Иахьа ишәзаазгаз ҳаӷоу-саӷоу иаҳаша ажәаб-жьуп, – иҳәеит уи.

– Иҟалазеи? – Зегьы иаарцәымыӷхеит.

Page 7: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

7

– Аибашьра иалагеит… Ақырҭцәа ҳақәлеит… Ашарԥазы Егры ирны иалалеит, Аҟәаҟа рхы хоуп. Шьҭа Очамчыра иалсхьазаргьы ҟалап. Џьаргьы шәым цан, шәыҩнқәа рҿы шәыҟаз, – иҳәеит иԥсы игәы икылахо.

– Аибашьра ҟалеит уҳәама? – Рызегьы ааиҵанар-ӷәӷәеит. Иахырҳәаара рзымдыруа ишанханы иаан-хеит.

– Аибашьраҵәҟьа ишԥалагари, зынӡа еиламга-зар, – иҳәеит зықәрахь инеихьаз быргк, аӡәгьы ак-гьы анимҳәаӡа.

– Сгәы иаанагом ақырҭцәа ҩагыланы ҳара иҳабашьып ҳәа, – иҳәеит аҽаӡәы.

– Аԥсны ирҭаху зегьы аларыгӡоит, ишырҭаху иҟоуп, ирҭаху рымоуп. Изеибашьрызеи, – иҳәеит аҽаӡәгьы.

– Ишәҳәо саҳауеит, аха урҭ закә уаау уажә ижә-бама, ҳаԥсадгьыл Аԥсны ахьахьӡу рзыхгом. Зны-зынла азаа реиԥш ак рзаалоит, Аԥсны дара иртәушәа днарбоит, ҳадгьыл аҿы иқәынхо аԥсуаа тәым уаауп, иқәаҳцоит ҳәа еибарҳәҳәо, еибарҟаауа, Егры ирны, ҳадгьыл ҭаҳарцәуеит ҳәа заҟантә рҿаархахьоузеи, аха ҳаҷкәынцәа анаарҿагылалак, рҵыхәа раҳә ҭар-ҽыланы, рышьҭахьҟа иҩны ицоит. Сгәы иаанагоит уажәыгьы ус акәхап ҳәа, – иҳәеит хаҵашлак.

– Изласаҳаз ала, уажәы раашьеи ԥасатәиқәеи еиԥшым. Ԥаса лабахыла акәызҭгьы, уажәы атанкқәа рыла иаауеит ҳәа саҳаит, – иҳәеит автобусныҟәцаҩ.

– Зны-зынла иҟам-иным анырҳәогьы ҟалалоит. Уара улала иубама атанкқәа? – иҳәеит злабашьа зҵыргәаны игылаз хаҵак.

– Мап. Сара сылала исымбеит, аха избаз ауаҩы исеиҳәеит. Дагыруоуп иара. Сара сеиԥш иаргьы машьына ныҟәцаҩуп. Очамчыра дналсуаны еиԥш, дааныркылан, уаԥсыуоума ҳәа иазҵаазаап. Сқырҭ-

Page 8: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

8

уоуп имҳәазҭгьы, дытҟәаны дыргон. Иҽирххар, инеигәыдҵан дыршьуан иҳәеит автобусныҟәцаҩ.

Аибашьра ҟалеит ҳәа ақыҭа ианалаҩ, ҳәсагьы хацәагьы аусҳәарҭа ашҭаҿы еизеит.

Бжаҩык агәра рызгомызт. Иҟаз аиашаҵәҟьа нагӡаны макьана аӡәгьы издырамызт, анцәа иҳәаны, издыруада иҳаҳаз ажәабрызар ҳәа еиҳараҩык ргәы иаанагон. Ҳааԥшып, иҟоу еилымкааӡакәа, агәыҭҟьара ҳҽаҳаргарым. Иахьа шьыжьымҭанӡа Очамчыраҟа, Аҟәаҟа зхатә машьынақәа рыла ицаз ыҟоуп. Урҭ хынҳәыр иҟаҵәҟьоу аиаша урҭ иҳарҳәоит ҳәа ишыԥшыз, шьыбжьон ҟалеит, аха аӡәгьы дыхнымҳәит.

Иҳаҳарызеишь ҳәа, игәжәажәо ишыԥшыз, зегь раԥхьа дхынҳәит Очамчыраҟа ицаны иҟаз, ақыҭа арахә рҳақьым. Дызлацаз имашьына «Волга» ала акәӡамкәа, аидарамҩангага машьынак ала дааит.

Амашьына дшааҭыҵыз еиԥш, икәшан дыркит, иҟоузеи, аиаша ҳаҳәа, аибашьра иалагаҵәҟьама ҳәа. Иԥштәы ихыгга, ила-иҿы ҭакәаҳа, ирбахьоу иакәӡамкәа, деишәареиҵараха акәын уи дшыҟаз.

– Ишәаҳаз иашоуп… Аибашьра иалагеит… ақырҭцәа ҳақәырхырц иақәыркит, – даара ицәыхьан-ҭан уи арҭ ажәақәа рҳәара.

Абас аниҳәа ашьҭахь, издыруада ииашамхар ҳәа уаанӡа гәыӷра хәыҷқәак ирымаз ныҵаба ицан, рызе-гьы рыхқәа нарыкәаҽит. Акыраамҭа хәыцра хьамҭас иааҟоу зегьы рҽыртланы ирылалан, еиҵаӷәӷәа игы-лан.

– Умашьына бжьысыма, аҽакала узаазеи? – ҳәа игәыла Бадра дизҵааит.

– Уашьҭан иуасҳәоит. Уажәы ара аҳәса ишраҳауа исыз уаҳәом, – иҳәеит Бадра ибжьы рхәыҷны.

Иҟалаз уи ауп. Бадра Очамчыра днаӡаанӡа мхед ри о наа дааныркылт. Уаԥсыуоума, узусҭада?

Page 9: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

9

Упаспорт ҳарба ҳәа иқәыҳәҳәо дааныркылт. Им-хны ианахәаԥш, дшаԥсыуаз анырба, имашьына «Волга» дааҭганы, ухьамԥшӡакәа ухы ахьынахоу уца акәымзар, ушьны абра ажра уҭаҳажьуеит ҳәа иарҳәеит… Илшагәышьоз, зуаҩыбжара иахысхьаз ауаҩы, сыҷкәынцәа ҳаб ибаҩ ԥшааны иаагароуп ҳәа иашьҭалар, даргьы ршьуеит ҳәа дацәшәаны, дхьамԥшӡакәа ишьамхы иҽаиргеит. Бадра изыруз аӡә ида егьырҭ иреимҳәеит, аха изеиҳәаз аҽаӡәы иеиҳәеит. Нас зегьы ирылаҩит. Ас ҳзыруа иала-гар ишԥаҟаҳҵои ҳәа ишеилагьежьуаз, ишгәаҟуаз идырхәлеит.

Адырҩаҽны иааҩит зегьы ргәы ҭызшьааша ажәабжь, Шаҭ-иԥа Дамеи дыршьит ҳәа. Уи Алиа-си Сафари уи аҽны Аҟәаҟа изгараны иҟаз иакәын. Уаҵәы еиццараны уаха еиԥш, иаҳәшьа Аҽгәара ди-геит. Лара уа дрыман. Лхәыҷқәа лыманы лаби лани рҿы дааны дыҟан. Аҵарашықәс ааигәахо ианала-га Дамеи иаҳәшьа лхәыҷқәеи лареи иманы дцеит. Ауха уа даангылт. Ашьжьымҭанӡа дгылан, Алхаси Сафари Аҟәаҟа изгоит ҳәа дшаауаз, Охәуреи дааи-хьаны еиԥш, мхедрионаа дааныркылт. Дшаԥсыуаз анеилыркаа, уабанхои, уабатәиу ҳәа иааиҿагылт рҽырцәгьаны.

– Сара Аԥснытәуп. Аԥсны сынхоит, – иҳәеит Да-меи, рҵаашьа уамашәа ибо.

– Аԥсны ҳәа атәыла ыҟаӡам, уара уахьынхо Қырҭтәыла ауп, – рҳәеит ргыгцәа ргыланы.

– Уи шәара шәтәала… Сара стәала еиҭашәасҳәоит, Аԥсны ахьӡуп. – Шьҭа ишыцәгьахоз ибон.

– Усҟак аамҭа зиқәшәырӡуазеи, аԥсуа, алахша! Дшьамхнышгыланы сыԥсадгьыл Қырҭтәыла ауп ҳәа ҳадгьыл дашәыргәӡы, имуазар анышә иҿаҵаны, инеигәыдҵаны дышәшьы – ҳәа дрықәыҳәҳәеит реиҳабы, ихы-иҿы уза ҿамԥшуа аҩаза иаганы.

Page 10: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

10

– Ушьамхнышгыл! – ҳәа равтоматқәа кны иааид-гылт.

Дамеи ибон иԥсы ҭаны дшоурмышьҭуаз. Хьмыӡӷ-ла аԥсра аҵкыс хьыӡла аԥсра еиӷьуп ҳәа иабацәа ирҳәоны иаҳахьаз игәалаиршәан, аԥсра дацәымшәо дааҟанаҵеит. Аԥсуа ашьамхнышгылара издырӡом. Уи здыруа… шәара шәоуп иҳәарц иҭахын, аха дахьырмыгӡеит. Аҟәҟәаҳәа игәыдҵаны дышьны, амҩа иавгаз ажра дынҭажьны, аиааира ду ргазшәа рхы рбо, Дамеи имашьына иақәтәаны, раԥхьа ицоз атанк инашьҭалеит.

Дамеи Аҽгәараҟа данцоз, уаха сзымааргьы шәыс-цәым шәан, ашьыжьымҭанӡа саауеит ҳәа иани иаби ираҳәан дцеит. Иан ашарԥазӡа дгыланы ихәы ҟалҵеит, какал имыркыкәа дсышьҭуам ҳәа. Уи аҽны иҩызцәа иманы Аҟәаҟа дышцоз леиҳәахьан. Амра гылеит, ҵлашәара иҩеит, уажәымзар-уажәы даауеит ҳәа дшизыԥшыз. Ихәы хьшәашәеит. Шьыбжьон ҟало ианалага, иламхацәгьахеит. Амашьына ҿыц аахәаны дақәтәоуп… Сыла ааҟәымҵӡакәа иԥырԥыруеит, аҵәы иҭнахша! Узҿу уааҟәыҵны унаишьҭаҵаандаз, абысҟак аамҭа дынзырхазеи ҳәа лыԥшәма аԥхӡы ԥхьаҳәо ажьхәага архиара дахьаҿыз дааихагылт.

– Уи уажәыҵәҟьа дкылҟьа даауеит, бымшәан. Амала, скамбашь иаха иҟанаҵаз џьасшьоит, агәара ԥжәаны иныҵахәаша, иныҵабга ицеит. Ас ҟанаҵо сымбаӡацызт. Иаха иазааз ҳәа акы сзеилкаауам.

– Уара акамбашь атәы ауп иџьоушьо, аапкра иа-гаша, лак ааны иаха аашаанӡа иҳадуулон. Џьоукы ихәарҭам рҳәоит, аҽа џьоукы ибзиоуп рҳәоит, ала анууа… Ицәгьоу акыр ҳаднабалозар, иара иамазаа-ит!

– Ала «ибанаҳәаз» сыздырам, аха сара алаԥықәшәа соуит, аӡә диварԥало даауашәа. Аҽгәара гыруа ӡӷабк бзиа дылбоит ҳәа лымҳаҭасқәакгьы соухьеит.

Page 11: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

11

– Шьҭа дхәыҷума, уара, дахыԥарц егьигӡам, иара дигәаԥхозар дааигааит, уиԥырхагамхан дахьагыру-оу азы, анцәа уишазар.

– Ахыԥарахь макьана дабаҟоу, бара банаазгоз 36 шықәса схыҵуан. Саб рацәаӡакгьы игәамԥхаӡеит. Макьана дааԥшындаз ҳәа сара сҿы имҳәеит, аха сан илеиҳәеит.

– Усҟан аҽа аамҭан, аҽа уаан иҟаз. Изырццаку-аз, аамҭа хәдацәахьы ирыман. Уажәы зегьы цца-куеит. Зегьы аамҭа рымаӡам. Усҟан шеишықәсеи еизыԥшуан. Уажәы, иахьа еибабар уаха еибагоит. Уаҵәашьҭахь еилыҵуеит… Ус рҳәо саҳауеит.

– Дамеи иан дикәыхшоуп, уашьҭа дҟәышуп, иахьа дбаны уаха дшаҳзааимго здыруеит.

– Бгәыӷла, бгәыӷла, агыруа цырцыр дыбзааигоит.– Аҽгәаратәи агыруа ӡӷаб дааигоит ҳәа уазҳәада,

иабауаҳаи? Ус акрыҟанда ҳаԥҳа иҳалымҳәози.– Исаҳаит. Агырцәа аҳәса бзиа рылҵуеит. Дигәаԥ-

хазар дааигааит, – иҳәеит.– Уи илзууазеи, сара исҭахыҵәҟьоу ашьхааӡаҩ

Самсон иԥҳа лоуп. Дхазыноуп. Лыԥшра уҳәарыма, лҟазшьа уҳәарыма, дахьаацәыругалак лықәра зықә-роу зегьы лыҵалырӡуеит. Ахьҩеижь ззырҳәо лоуп. Ларгьы ҳалгәаԥхоит ҳәа саҳаит. Аха изхәарҭоузеи, ҳара ҳтәы дигәаԥхошәа, дигәамԥхошәа… макьана дналывс-аалывсуеит рҳәеит.

– Уи лоума, аҽаӡәума сынтәа иахымгакәа аӡә даҳзааигароуп. Абри аеҳәа ҿыц иаҵыҵуа аҩы ала ачара ду аауроуп! – ҳәа еибаргәырӷьо рыҷкәын иразҟы ишалацәажәоз, ҽыуаҩык дааины ргәашә даадгылт. Иаартны дҭамлакәа, дҽыжәҵны иҽы да-авагылт, аԥшәма ишҟа дшаауаз аниба. Дамеи иаб ишьапқәа дрызнагомызт агәашә аҟынӡа. Аҽыуаҩ иаашьа, иҽыжәҵшьа, игылашьа злаҟаз ала бзиа-рак иеиҳәарц дшымааиз ицәа иалашәеит. Аҽыуаҩ

Page 12: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

12

ишьҭаланы иаауан игәылацәа еиқәышьшьы.Аб иаразнак идырит ишихабгаз. Иикыз аиха

ыршәны зымҩа инкажьны, аҽыуаҩ дааидгылан, сыҵәҩаншьапы шыҵшәаз соуҳәарц аума узааз иҳәан, ивара ишьҭаз ақыдхсаҟәа днықәтәеит ихы кны.

… Арҵәааҳәа игаз ан лыбжьы аеҵәа кыднахуан. Ухәы-ужьы қақаӡа еиланаргылон, агәыла ҳәсақәа деимырхха дыркын, дырзынкылозымзт, лхы знылҟьара лыздырамызт.

Қырҭтәыла ахадацәа, афашистцәа аԥсыуак иԥсы ҭаны Аԥсны даанышәмыжьроуп ҳәа, ашьажәцәа мхе-дрионаа ҳгәыҳҽанӡамкәа ҳаԥсадгьыл ианақәырҵаз аҽны зегь раԥхьа цәгьала иҭадырхаз Дамеи иан игәыҭшьаагаха игаз лыҳәҳәабжь, иара уи аҽныҵәҟьа Аԥсны ахи аҵыхәеи иалаҩит. Изаҳаз анацәа амца рыцранаҵеит, ргәы ҭнашьааит, ҳаргьы ҳаԥхьаҟа иаҳзыԥшузеи ҳәа ахәыцра цәгьа рызнарҵысит.

– Ҳаҷкәын алақәа дырфеит, иԥсыбаҩ аагатәуп. Алақәа дырзаанҳажь уама? Идәықәаҳҵарыда? – ҳәа Ҟанчобеи, гәыԥҩык аҷкәынцәа аарылиган, дрыз-ҵааит.

Ацәгьарақәеи абзиарақәеи раан ақыҭаҿы хра зуаз иакәын уи.

Зегьы ирдыруан Гал ацара шшәарҭаз. Амҩақәа зегьы мхедрионаа иаанкыланы ирыман. Аԥсыуак дан рымԥахьашәа деибганы доурышьҭуамызт. Зегь ааиҵа нарӷәӷәеит Ҟанчобеи ииҳәаз.

Ҳара ҳцоит, рҳәан, убри аамҭаз иааины иаарыла-гылеит Сафарбеии, Алиаси, Сандреи.

Амҩахь икылымсӡакәа, бнала мацара, ианаашоз Аҽгәара ақыҭа иаҳәшьа дахьрымаз инеиит. Иаҳәшьа рыцҳа цәа лхаӡамкәа алаҳарҭеиԥш илхыхны дтәан. Иларҳәоз ҳәа акы лаҳауа дыҟамызт. Лхаҵагьы даара ихы иақәҵаны дыҟан. Аԥсыбаҩ ахьышьҭаз рызды-

Page 13: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

13

рамызт. Иара дрыцны дцеит, идирбеит. Харантәила амҩаду иавганы игаз ажрак дахьҭарыжьыз иҵаулан, унеихагылаанӡа дубарҭамызт. Дамеи деикәарҳәны ажра дахьҭажьыз рбеит, аха анеира рзыцәгьахеит. Амҩаду ианын мхедрионаа еибарҳәҳәо, агәгәаҳәа ихысуа, атанкқәа рыла ицоз ыҟан, амашьына дуқәа абџьар згоз урҭ зынӡа ҵыхәаԥҵәарак рыма-ӡамызт, Очамчыраҟа рхы хан. Рызегьы «Аԥхазеҭи чвени миҵа» ҳәа иҳәҳәон. Амашьыналасқәа еишьҭагыланы Қарҭҟа ицон. Урҭ аԥсуаа ирцәыргаз ракәын. Уахьынтәи атанкқәа еибарҳәазо иаау-ан, амҩаду нырцә-аарцә бнаран, аҷкәынцәа зегьы рбарҭан рҽыҵәахны иахьтәаз. Еимҟьарак анбаабо ҳәа, ашьыбжьышьҭахь амҩаду ҭацәшәа ишааҟалаз еиԥш, ажра рыҽҭарыԥсеит. Али-ԥси рыбжьара аԥсыбаҩ аашьҭԥааны, ажра акыр иҵаулан, дҭыргарц маҷӡак шрыгыз, еибарҳәҳәо, еибарҟаауа мхедри-онаа агәгәаҳәа ихысуа ҩаԥхьа рҿаархеит. Ажра аҟынӡа иааӡаанӡа аҽыҵәахра иахьӡеит. Дрыман ажра иҭалеит, аӷацәа аниасуаз ирбар ҳәа ишәан, аԥсы иваиеит. Ианылашьца, амҩадугьы ҭацәшәа иааҟалеит. Аҷкәынцәа уи аамҭа рхы иархәаны, аԥсыбаҩ ажра иҭганы, алашьцара рҽалакны, бнала мацара дрыманы идәықәлеит. Ианцаз аҽны дырза-амгеит, адырҩаҽынгьы дырзаамгеит, аамҭа абасҟак анца дара рхаҭақәагьы акы рзырымуааит ҳәа еилагәжәажәо иалагеит. Аб ихаԥыц еихырӷәӷәаны, ичҳаны дгылан, аха ан дҿаҳәатәхеит. Ҳара иҳахьыз азымхозшәа, шәара шәтәқәагьы ҳара иҳахҟьаны акы анрыхь, ҳаҩны амца аркны сҽалазбылуеит ҳәа дыҳәҳәон.

Дамеи иҩызцәа дрыманы ашҭа иааҭалеит амра аныҩхашалоз аамҭазы. Дҭахеит ҳәа анраҳаз иеизаз агәылацәа-азлацәа еилшәарак рымаӡамкәа иԥшны игылан.

Page 14: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

14

Ан, лыҷкәын дрыманы ашҭа ианааҭала, дшыҟа-лаз аҳәара уадаҩуп. Лыҳәҳәабжь ауаҩ игәы акәым, ахаҳәҵәҟьа еиҩнажәон. Анацәа аӡәырҩы ирзымч-ҳакәа, ирыҵагыланы адәахьы идәылыр геит. Лара, ан хәаша, аҳәацәара даҟәыҵын, лнапқәа икәыршаны дылкит, дахьықәыз сиваиоит ҳәа далагон. Зны-зынла даалҵны, шьҭа ара усымоуп, исыбаргәузеи, акгьы смыхьӡазшәа сыԥхьаӡоит, лҳәон.

Аб ҿиҭуамызт, игәырҩа иҵәахырц даҿын, аха ҩныҵҟала амца икын, дбылуан. «Усзаазгаз сры-кәыхшоуп. Урҭ ракәымызҭгьы усоуӡомызт,» – ҳәа игәы иҭиҳәаауан.

…Агәылацәа, ауацәа иҟаз анырба ани аби раҳәара рзыцәгьахеит, аха ирарымҳәаргьы ҟаломызт, аҽныҵәҟьа анышә дамарымдар… аԥсы абжьысра даҿын. Ашоура бааԥс иҟаз, иаци ԥыжәаци раахыс ацәеижь уаҳа азы мчҳаит.

Аб дазааргеит, аха ан ианлаҳа, лҽаҿылшьаарц да-лагеит. Шәуаами, уахазаҵәык ҳаизыншәыжь, сыҷ-кәын сызхара дысшәырба, уаҵәы иаргьы саргьы ҳаи цыжәж ҳәа, лнапқәа икәыршаны дылкит. Лаҳә-шь цәа, раҳәшьаԥ ҳацәа, иара убас агәылаҳәсақәа лыкә шаны даҳзыҟа жозар ҳәа иаҿын, аха ирҳәоз акы ллырҳа уамызт.

Аӡәгьы данылмыхәаӡа аб даалыдгылан, – Уаҩ дызқәы мшәаӡац ҳақәымшәеит. Ибычҳароуп. Шьҭа даҳзыргылом. Дыргәаҟны дыршьит ҳаӷацәа. Бара бануп, иԥсы бмыр гәаҟын, имҩа дықәҳҵап, – иҳәеит.

Акы змаҳаӡоз, «Иԥсы бмыргәаҟын» ҳәа лхаҵа илеиҳәаз дааннакылт. Иара иԥсы иазеицәоу ҟасҵар аҵкыс, сара быжьрабыжьҵәа сцар еиҳа еиӷьми ҳәа лгәы еиқәҳәаланы дақәшаҳаҭхеит.

Лхаҵа диҳәеит рыҩны аҿаԥхьа ишьҭаз адәы ԥшӡа дахаагарым ҳәа. Игәаӷьны илзымҳәеит ажәа «даа-жып».

Page 15: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

15

Данхәыҷыз дыҩуа, дыхәмаруа дахьықәыз. Раԥхьа ииҟәшәаз адәыкакаҷқәа заҟа иԥшӡоу ббо-ма ҳәа иааганы иан илиркуан… Ари анигәа лашәа, дрыцҳашьаны дақәшаҳаҭхеит.

Иаб, иабду, уи иабду, абиԥара жәытәнатә аа-хыс илхны ирымаз аԥсыжырҭахь анышәԥҟарахьы иишьҭхьаз ааирхынҳәын, адәҳәыԥш ԥшӡа, иара бзиа иибоз адәыкакаҷқәа рыгәҭаны анышә дыԥирҟеит.

Гәылеи злеи зегьы лаӷырӡышо аԥсы дышьҭыхны анышәынҭрахь дрыманы ишцоз, инаӡарц егьрыг-мызт, рҩадахьтәи ахәад иқәгыланы аҟәҟәаҳәа ры-лахысра иалагеит мхедрионаа. Излагылаз арыцҳара аҵкыс еицәаз рзыҟалеит.

Згәы иаанагодаз абри аамҭазы ауаҩра зцәыӡхьаз мхедрионаа хыхь Абаажә ахәада иқәтәаны реихсра иалагоит ҳәа.

Ауаа гәыҭҟьа-ԥсыҭҟьаха, иахьцара рзымдыруа, еилагьежьуа, еибарҳәҳәо еилахеит. Акырцх еиԥш акәын ахқәа шаауаз, џьоукы ирывҟьон, аҽа џьоукы ирықәшәон.

«Абнахь шәеиха, шәҽышәҵәах… ҳандырҵәарц иаҿуп, шәымбаӡои?» – ҳәа дрылаҳәҳәеит Ҟанчобеи.

Адәы ахьаанҵәоз нахыс бнаран. Зегь уахь еихеит.Рыцҳашьара зламыз, агәнаҳа иацәымшәоз аџь-

нышқәа, Очамчыра инаркны Аӡҩыбжьанӡа амшын аԥшаҳәа иазааигәаз аԥсуа қыҭақәа инеиԥын кыланы иқәхуа иаауан.

Абнахь рыԥсы ргеит зшьамхы зҽазыргаратәы иҟаз, ахәцәагьы адәаҿы иаанырмыжьит, цәгьаԥсышьала иалыргеит. Ан, лыҷкәыни лареи рымацара иаан-хеит. Аӷа хәымга ихқәа шаац иаауан. Ан рыцҳа дӷьаҵәыӷьаҵәуан, сыҷкәын дысцәышәымшьын, дрыц ҳа шәшьа, ан шәлы хшазар ҳәа. Ан илхымша-ӡеит, урҭ лахшақәоуп ҳәа ан лыбжьы ззымчҳаз аӡәы ҿааиҭит абнарахьынтәи. Иамуӡошәа анылба,

Page 16: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

16

лыҷкәын лгәы дныҵакны дхылҩеит. Уи ашьҭахь лыбжьы аҽакхеит, аӷьаҵәыӷьаҵәра даҟәыҵын, сара сшәымшьыкәа сыҷ кәын дышәсыршьуам ҳәа лыб-жьы ахысбыжьқәа ирылыҩны иго иалагеит.

Ԥыҭрак ашьҭахь ан лыбжьы агара иаҟәыҵит. Ахыс быжьқәагьы еихсыӷьит. Аха макьана игәаӷьны аӡәы адәы дзықәломызт. Убри аамҭаз рла (ала иагәамԥхо акы анабалак, аҵыхәа арҵысӡом) ашҭа иааҭыҵын, инеины ани аԥеи ахьышьҭаз иаарха-гылт. Ԥыҭраамҭак ахы рықәҵан иакын, нас ршьапа-хьы ицеит, уа хьынтәи рхахьы ииасит. Ауаҩ иеиԥш иџьабозшәа ирхагылан. Нас инеины раԥхьа инатәан, ахы наган инарықәнаҵеит.

– Мап, мап, урҭ лахшақәоуп ҳәа ишәҳәо закәы-зеи… Ала ацкыс еицәоуп урҭ зыхшаз, – иҳәеит Ҟанчобеи, ԥсы шьацәгьа зырҭаз ани аԥеи ахьышь ҭаз ирыдтәалаз рла иҟанаҵоз аниба.

… Ахысбыжьқәа еиқәтәеит. Издыруада урҭ агәым-был қәа ахәада ааныжьны ицазар, рҳәан, абна ил-ҵырц ақәыркит, аха рцәаара шырбаз еиԥш реихсра иалагеит.

…Алашара адәы иахьынӡақәыз, аԥсцәа анышә иа-мардо изыҟамлеит.

Ианыхәла, ахәада ааныжьны ицеит ҳәа аӡәы дааны иреиҳәеит. Агәыҭҟьара иаганы еишәара-еиҵараха абна иаалҵит. Ани аԥеи ахьышьҭаз иа-наархагыла, даара агәыӷәӷәа зызҭамыз рыхәаԥшра изычҳауамызт, ан лыҷкәын лнапқәа икәыршаны, дылгәыдыҳәҳәаланы дылкын…

…Ржышьас иҟарҵо иақәымшәо иаанхеит аԥсыжцәа.

Иара ҳиазҵаап… Ишиҳәо иҟаҳҵап рҳәан, ашьа ихьшы ишьапы хәны дшыҟазгьы, аб дааганы дыр-хадыргылт. Ауаҩы мыжда игәы иачҳаӡозеи! Баша ирымҳәозаап, агәырҩа аҵла агәаԥшь иаларҵан,

Page 17: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

17

еиҩнажәеит… Ахаҳә иагәыларҵан, еиҟәнажәеит… Агәы иачҳаит.

Ҿымҭӡакәа дырхагыланы дрыхәаԥшуан, адәа-хьала акгьы сынсырԥшуам ҳәа даҿын, аха ҩныҵҟала абылра дшаҿыз зегьы ирбон.

Акгьы анимҳәа, ишаԥу еиԥш хаз-хазы иржырц иалагеит, аха убасҟак лыҷкәын дилаԥсны дылкын, дрыцҳашьаны ирзеидымгеит.

Лыҷкәын длымшәымхын, дшылку длыманы дцааит, ахәаша, иҳәан аб рыцҳа, абраанӡа зыла-ӷырӡ аӡәгьы имырбаӡакәа мчыла инкыланы из-маз, игәы иамуит, илаӷырӡ уаҳа изнымкылеит, аҽҽаҳәа аҿаанахеит. Идсырбом ҳәа зымҩа днава-леит. Акәыба аҟаҵаха аамҭа рызҭадаз, ҟрыҵәрыла иаарымԥыхьашәаз ӷәқәак неидычаԥаланы ани аԥеи шеимаз еицҭарҵеит.

Иҵасым лашарада нарцәыҟа амҩа рықәҵара, иҳәан, еижәлантәу рныҳәаҩ абырг Бача ацәашьы ар-кны, шәыгәнаҳа ззымгаша шәыԥсҭазаара дырлашь-цеит, аха шәызқәылаз амҩа лашахааит ҳәа ацәашьы кны данаархагыла зегьы иааџьаршьеит, абасҟак иргәаҟны зыԥсҭзаара иалырхыз ан, дышгәырӷьоз дыԥсызшәа, лхылҿы аччара шықәыз анырба.

Лыҷкәын ихала дмышьҭыкәа ларгьы дахьиццаз азы акәхап, ан рыцҳа аԥсра дгәырӷьан дзаԥылаз, – иҳәеит згәи зылаӷырӡи еилаҵәо, зыҷкәын дыԥсхьаз аӡәы, ихы икәаҽ дахьгылаз.

Аԥсцәа анышә ианамарда ашьҭахь, зегьы рыҩнқәа рахь ицеит. Аҽа аамҭанызҭгьы, абри еиԥш арыцҳара ззыҟалаз ихала дааныжьны ицаӡомызт, инаидтәаланы иацәажәон, игәы дырӷәӷәон, аха уажәтәи аҭагылазаа-шьа злаҟаз ала, аӡәгьы гәыбӷан узиҭомызт. Хаха-хымш, уахгьы-ҽынгьы, лаӷырӡылеи гәыҭҟьаралеи ирхыргеит. Уи ашьҭахьгьы изықәшәоз рыздырамызт. Хысыбжьык аагацыԥхьаӡа рыгәқәа ҭыԥсаауан.

Page 18: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

18

Агәырҩа змоу, алԥсаа дзауз, ауаа ахьынӡаибо иич-ҳауа, ашьҭахь зегьы ықәҵны ианцалак, дзацәажәо уаҩ дима мкәа игәырҩеи иареи рхала ианааизын-халак, даара ды ӷәӷәа мзар, ахгара цәгьоуп. Убасҟан ауаҩы хәшәыс имоу ауаҩ иоуп.

Зегь анца ашьҭахь, аԥшәма илеи иареи рыма-цара иаан хеит анышәынҭраҿы. Дабанӡатәоз, дҩа-гы лан, – уаа ла, ҳцагәышьап, ҳаззыԥшыда? Ара ҳабанӡаҟазаауеи, – ҳәа дахьгәаҟуаз дзацәажәаша уаҩ данимоу, ила ацәажәара далагеит. Аԥшәма ииҳәаз аҳазшәа иҩагылан, ухала уаансыжьуам аҳәозшәа, ишьҭаланы аҿынанахеит.

«Ҳахьнеиуа иаҳԥылода? Уаргьы саргьы иаҳ ԥеиԥ-шузеи? Зҿумҭуазеи?» ҳәа ала дацәажәо ашҭа инҭалт.

Иацы илашоз, игәырӷьоз аҩны иахьа гәырҩала иҭәны, еиқәылашьца игылан. Аҩныҵҟа аҩналара ицәыхьамҭахеит… Акыраамҭа ашә дадгылан, дыҩ-налару, даахынҳәны иҭаацәа ахьаанижьыз дцару изы мдыруа…

... Алиас Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы данышьҭаз, ихы идыруа дааҟалацыԥхьаӡа, хәыцрас изцәырҵуаз, аибашьра раԥхьатәи амшқәа рзы ақырҭуа фашистцәа рқыҭа Аҟәараш ишазныҟәаз акәын. Дхәыцуан, амҩа дзырбада ҳаӷацәа ҳәа. Уа уанхала Аҟәараш ақыҭа зе-гьы унапсыргәыҵа ианушәа иубарҭан…

Алиас, аиашазы, аԥсра дахдырԥеит Гагратәи аҳа-қьым цәа. Дара рхаҭа гьы иџьаршьон иԥсы ахьеиқә-хаз. Ибӷа ԥҵәан, ишьапқәа хәын, ихы ҭаԥҽын. Ахәышәтәырҭаҿы да нааргаз уи дшыҟаз ала, иԥсы ҭаны даанхоит ҳәа аҳәара уадаҩын. Аҳақьымцәа иаарылшоз зегь ҟарҵеит, акгьы игырмыжьит, иԥсы еиқәдырхеит, аха уинахыстәи ихәышәтәра Гагратәи ахәышәтәырҭа иамаз алшарақәа азхомызт. Ԥшрак ҳәа ҟамҵакәа Москваҟа дгатәын, аха ам ҩа иқәгалара даара ишәарҭан, иааныжьра еиҳагьы еицәан.

Page 19: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

19

Гагрантәи дрыманы амҩа ианықәлоз игәала-шәоит. Настәи – дшыргаз, дшааргаз ҳәа ихаҿы ак-гьы ааным хеит. Далҵны илақәа анаахит, Москватәи ахәышәтәырҭа ҿы дшышьҭаз ибеит.

Акыраамҭаӡа дҵысыр амуа, днаҳәыр-дааҳәыр ҟамло, игәы ҩарханы аҭуан даҵаԥшуа, исаҳарызеишь Аԥснынтәи ҳәа иханы иқәгылаз априомник хәыҷы илымҳа адҵаны дӡырҩуа, амшқәа ԥхьаӡо, сшьапы сзықәгыло сзыҟалар ҽнакгьы сшаанымгыло, аи-башьра сышцо ҳәа ахәыц ра дзалымҵуа дыкны да-ман.

Аибашьра еилгеит, аԥсуаа аиааира ргеит ҳәа ира-дио агәырӷьаҿҳәаша ианаҳәеит. Иаҳаз агәра изым-геит, дшанханы даанхеит. Апалатаҿы ицышьҭаз иудаҳныҳәалоит, Аԥсны аиааира агеит ҳәа ихагы-ланы ианиарҳәа ауп агәра анига. Уи усҟан дшыҟалаз ҳәашьа амаӡам, дгылар шыҟамлоз ихашҭны, деиха-ны сгылоит ҳәа далагеит.

Уеилагама, угылар ҟалома, рҳәан, мчылаҵәҟьа дышьҭаркит игәылацәа, апалатаҿы ицышьҭаз.

Ицышьҭаз зегьы ргәы иахәеит ираҳаз ажәабжь, аӡәызаҵәык ида. Уи аҭӡамцахь иҿы рханы диан, дагьымааҳәит. Иҟалап имаҳазаргьы ҳәа ргәы иаана-геит егьырҭ.

Алиас дгәырӷьацәаны иҟаиҵара издырамызт. – Сгылар жәуам, аха ма сықәшәыртәа, сшьа-

пы сықәгылазшәа сгәы иабо салагоит, – иҳәеит, игәылацәа рнапқәа рыӷәӷәаны иаанкыло.

– Сшьапы сықәгыло саныҟала, аҽныҵәҟьа сыԥ-садгьыл ахьчарахь сцоит умҳәози есымша. Шьҭа узырццакуазеи, уԥсадгьыл аиааира агеит. Ақырҭцәа алцан икарцеит… Ирласны угылашт, аха ас мариа-ла уаҳзышьҭуам, уагьҳаркәашоит, уԥсадгьыл аиааи-ра ахьагаз азы аԥсуа чеиџьыка ҳзыҟоуҵароуп, – ҳәа Алиас игәырӷьара даргьы ацгәырӷьон.

Page 20: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

20

Алиас уҳаркәашоит ҳәа ихәмаруа иарҳәоз, аӡаӡ еиԥш игәы иналнар ҟьеит, ихы-иҿы иқәыз агәырӷьара наихҟьа ицан, иаауцәымӷхаратәы аҟынӡа иԥштәы иԥсахит.

Игәы нзырхаша акыр иаҳҳәама ҳәа инеиҿаԥшы-ааи ҿаԥшуа иаанхеит игәылацәа.

Ихымҩаԥгашьа шыргәамԥхаз аҟара аниба: – Саҭа-шәымҵан, сшәыҳәоит. Уажәыҵәҟьа сахьыҟоу саргьы исыздырам, – иҳәан, иблақәа џьара икыдха-ланы иаанхазшәа аӡәгьы дахьыҟамыз ахь иԥшуан.

«…Аиааира анаагалак, Шьазина ҳагәҭа дыбжьар-гылан ҳкәашоит умҳәахьази. Аха уара уабаҟоу?..» –Алиас ахәыцра хьамҭа днаҵанаҵан, дзаҵымҵуа да-ман ицеит… ицеит… ицаӡеит.

Ашкол аҟны аҵара анырҵоз иреиӷьыз акәашаҩцәа ҳәа иԥхьаӡан Сафарбеии Алиаси. Араионтә аолимп-иадақәа рҿы акәашаразы (ашколқәа рыбжьара) актәи аҭыԥ агара акырынтә рҽаԥсартәхьан. Зегь раҵкыс ирықәҿиоз аномер аҵара рыцызҵоз Шьа-зина дрыбжьаргыланы ианыкәашоз акәын. Убас еинаалан еицыкәашон. Шьазина аԥшӡара дык-ны даго, Сафарбеии Алиаси дрыбжьаргылан ас-цена ианаақәлалак, игәазырҳагақәан, ахәаԥшцәа дыршанхон. Икәашаны ианықәҵлак акыраамҭа анапеинҟьара еихсыӷьуамызт.

…Сафарбеии Алиаси жәыларак аҟынтәи иааԥса-икараха, рхы инаркны ршьапаҟынӡа еиқәыбааӡа, рыла ахьҭоу умбо аҳәынҵәа иаганы, ҵхыбжьонк агәазы рыдҵа нагӡаны ихынҳәны ишаауаз, Шьази-на дахьынхоз аҩны ианаавала, Сафарбеи дааҭгылан, абас иҳәеит: «Сашьа, Алиас, аиааира анаагалак, Шьа-зина аолимпиадаҿы еиԥш, ҳагәҭа дыбжьаргыланы ҳкәашароуп, уақәшаҳаҭума?..» – «Сақәшаҳаҭуп», – сҳәеит. Ҳнапқәа еимаҳхит…

Ашьажәцәа Аԥсны ианалалаз раԥхьатәи амш аҽны Аҟәарашаа зықәдыршәаз, шәышьха нхыҵ ҳаӷоу

Page 21: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

21

иибаша! Иалаԥшыз иԥсы ахьынӡаҭоу ихашҭраны дыҟаӡам.

Дамеи иани иареи, ԥсышьацәгьа зырҭаз, анеи-цырж ашьҭахь, зыҩны ицаны зхы нықәҵаны ицәаз дҟамлеит. Аҽныҵәҟьа зшьамхы инанагоз аӡә даа-нымхеит, ақыҭа ацентр аҿы еизеит. «Иҟаҳҵарызеи, ҳзазҵаарыда? Иҟоу аиаша ҳазҳәарыда? Аҳҭнықалақь аҟынтәи аӡәгьы ибжьы ҳаҳауам.» Абас ишеи-лыхоз шьыбжьон Тҟәарчалынтәи аӡә даан, иҟаз ажәабжь реиҳәеит: Тҟәарчал аибашьцәа ааизан, абаталион еиҿыркааит. Аӷа ақалақь игарц далаге-ит, аха хацәнамырха иҿагылан, далармыжьлеит. Атанкқәа ҩба рцәыргеит. Иҭадырхазгьы рацәаҩуп. Шьҭахьҟа иԥхарҵеит. Абаталион хадара азызуа ишәзаарыцҳауеит, Кәыдры аарцә иҟоу ақыҭақәеи ҳареи ҳҽеимаданы аӷа ҳаиҿагылароуп, ҳаԥсадгьыл ҳахьчароуп ҳәа.

– Ҳазларабашьуа иҳамоузеи? Ардәынашьыга ашәақь қәа рыла атанк ҳзаанкылома? – рҳәеит, ажәабжь рзаазгаз иажәа анагӡаха имҭо.

– Уажәыҵәҟьа ҳара ҳус, – зегь рҽанеиқәырк иажәа анагӡара далагеит, – ҳаԥсадгьыл аиқәырхара ауп, ашәақь змоу, ушәақь шьҭых, ашәақь змам – уе-иха шьҭых, уеигәышә шьҭых. Иаҳзыруз ацкы даргьы ирзаауроуп. Раԥхьа иргыланы, ԥароума-шьароума, хьума, раӡнума, иааҳамоу зегьы еизганы, иаарылҟьо иҳамоу аҷкәынцәа ҩыџьа-хҩык иреиҳамкәа, автоматқәа раагаразы уахаҵәҟьа амҩа иқәлароуп. Ҳара ҳцоит ҳәа зхы иадызҵо аҷкәыцәа шәаарылҵны шәхы ҳшәырба.

– Амҩақәа зегьы куп, цашьа амаӡам, ҳаҷкәынцәа ҭашәмырхан, Аҟәантәи саауеит сыԥсы рыцәганы, – ҳәа иԥсы игәы икылахо даарылагылт мчыбжьык аа-хыс ҽыхәышәтәра ҳәа Аҟәа ицаны иҟаз тәанчаҩык.

Иҟоу аиаша здыруа абри иоуп, рҳәан, икәшаны иазҵаа ра иалагеит. Иҭаку ҳаиҩызоуп. Иҟоу ҳәа ак-

Page 22: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

22

гьы ҳаҳаӡом. Аҟәа еибгоума, Гәдоуҭа еибгоума? Ҳаиҳабыра абаҟоу? Ҳқыҭа ақәхра ишаҿу рмаҳаӡои, цхыраара ҳәа акыр ҳарҭома?... Ҳҭархәаша ҳаргоит ианаҳмыцхраа, – рҳәеит.

– Уахьгьы абзиа ыҟам. Ҳаҳҭнықалақь Аҟәа ргеит ҳаӷа цәа. Ҳауаажәлар амықәшәатә рзыҟалеит, аӷацәа рнапаҵаҟа иҵаргьежьуа, иаарҭаху рызуа, ирҳәуа, ишьуа ирылоуп. Сара аарлаҳәа сыԥсы алганы сааит. Заҟаџьара сааныркылазеи, ҟыжәбыжәк рбызшәа из-дыруаз сеиқәнархеит.

– Уаха иахымгакәа Гәдоуҭаҟа амҩа иқәлатәуп ҳәа исҳәаз шәаҳаит. Ахаҵара анаҭаху аамҭа ҳҭагылоуп. Шәымцар ҟалом ҳәа хьыӡҳәала аӡәгьы исызшәыдҵом. Ҳара ҳцоит ҳәа зҳәо аҷкәынцәа аӡәыр шәыҟазар, шәхала шәалҵны, шәхы ҳшәырбарц сшәыҳәоит, – еиҭа иҳәеит Ҟанчобеи.

– Ҳара ҳцоит! – рҳәан, Сафарбеии Алиаси аалҵны иаагылт…

Алиас ахәыцра даманы ишцоз, аҳақьымеҳәшьа дааҩналан, уи аҽны адагьы димбацызт, Алиас Ахаҳәба аԥҟарахьы ацаразы уҽазыҟаҵала ҳәа лыб-жьы анаага, дҭахәхәа дшыцәаз даанарԥшызшәа, ахәыцра дызлаз даалнахит.

Ҩышықәсеи бжаки ҵуан, хәышәтәырҭак аҟын-тәи аҽа хәышәтәырҭак ахь дниаго, Алиас Мо-сква ихәышәтәра иаҿызижьҭеи. Есқьаангьы абас акәын, апалата ддәылганы аԥҟаразы, мамзаргьы апроцедурақәа рахь даныргоз ада, шамахамзар, Са-фарбеи иакәын дзызхәыцуаз.

Хә-сааҭк иԥҟара иаҿын (ари уажәы хынтәын). Апалатаҿы дрыманы ианааи, ԥаса арҩышьыга акыраамҭа дшалахалоз еиԥш, омакаамҭа даламха-ӡеит, аха зегь акоуп далҵаанӡа – «Сафарбеи, уна-скьаны узгылоузеи? Сышҟа уааскьа», – ҳәа Гагра аԥсреи абзареи данрыбжьагылаз ииҳәаз еиҭеиҳәеит.

Page 23: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

23

Апалатаҿы ицышьҭаз уамашәа ирбеит, аӡәгьы дихагылаӡамызт… Ашьҭахь уи иацыз анеилыркаа, «сышҟа уааскьа» иҳәацыԥхьаӡа, ргәаҵаҟынӡа инеиу-ан. Дыккаӡа далҵаанӡа дрыцҳашьаны дара-дарагьы аицәажәара иаҟәыҵуан, рыбжьы иԥырхагахар ҳәа иацәшәаны.

Даналҵ, ишихагылаз реиҳәарц иҭаххеит, аха хә-сааҭ ктәи аԥҟара ашьҭахь ацәажәара аҳақьымцәа дақәи ҭыртәуамызт азы иҽааникылт.

Днаҳәыр ҟамло, дааҳәыр ҟамло, дцәажәар амуа, аӡыҵәҟьагьы ажәра дақәиҭымкәа, уахыки ҽнаки ах-гара изыцәгьахон, аамҭа мцаӡо иаангылазшәа ибо дааҟалон, аха убри аамҭазы ицәырҵуаз ахәыцрақәа ахәышәтәырҭа даадәылганы, иԥсадгьыл ахь дыргон. Уажәы уи ибла иаахгылт Сафарбеии иареи абџьар аагаразы Гәдоуҭаҟа ҳцоит ҳәа иандәықәла, саргьы срыццоит ҳәа ажәабатәи акласс аҟны итәаз Асҭамыр дааины данаарыдгылаз.

– Ари дхәыҷцәоуп, амҩадуқәа роуп иидыруа. Шьхала, шәарах мҩала ицатәуп, – иҳәан, Ҟанчобеи имуит.

– Уи шәицәымшәан, сара дсыцуп. Сара исзымды-руа мҩа ыҟаӡам, шәаҳцәымшәан, уаҵәы ахәылбыҽха абра ҳажәбоит, – иҳәеит Сандра.

Сандра дшәарыцаҩын, амҩақәа бзианы идыру-ан. Ихало-илбаауа, ацаҟьақәа ирҿысуа, аҳаҩақәа ирҭысуа, аӡқәа ирырсуа ицеит…

* * *Ихынҳәит, втомат заҵәыкгьы рмоуӡакәа. Ир-

зыԥ ш ны игылаз ирцәымыӷхеит. Уаха Абаажә ахәы ргарц аҽазыҟаҵара иаҿуп ҳәа Тҟәарчалнтәи адырра рырҭахьан. Абаажә ахәы анырга ҳнықәыблаа, ҳнықә-ццышәаа ҳаргоит, ҳәа ишеилагьежьуаз, иавтомат изқәа иқәҵаны, агранатқәа рыԥхны ихәда иахшьны,

Page 24: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

24

илақәа ааԥшуан аамҷыдарахаз ихаҿы умбо ихахәи иԥаҵеи еилиааны, – Уа, хәлабзиақәа! – иҳәан, даа-рыдгылт аӡәы.

Рызегьы шанхеит. «Бзиала уаабеит!» ҳәаҵәҟьа иаҳәашьа иақәымшәо, ихәаԥшра иалагеит. Азныка-зы аӷа иҽырҩашьаны, аԥсышәала дцәажәо, автомат рылаҵаны иқәихырц даазшәа рбеит, уи еиԥшқәа акырынтә иҟарҵахьан.

– Сышәзымдырӡеи, шәысцәымшәан, шәара шәтәы соуп, Шьаруан Ҵурҵумиа соуп, – иҳәеит. Ишицәшәаз идырын, иавтомат изқәа иаақәхны ишьҭеиҵеит, ирыԥхны ихәда иахшьыз артҟәацгақәеи агранатқәеи ааихыхны, автомат инаваиҵеит.

– Шьаруан уоума? Уеибгоума? Уԥсы ааугама, уана-џьалбеит, – иҳәан, зегьы раԥхьа иаб иашьа ди-дырын, инап қәа ааикәиршеит.

Шьаруан жәышықәса раԥхьа ауаҩы ишьразы дҭаркит. Ҩажәи акы шықәса ракәын усҟан ихыҵ-уаз. Очамчыра ақалақь аҟны ауп иахьыҟалаз. Иан лаҳәшьаԥа ԥҳәыс дааиган, ачара иман. Шьару-ан ачараҿы дыҟан. Ачара бзиахәха ицон. Аилгара рацәак шагмыз иаԥхьа итәаз агыруак ажәа имеи-куа далагеит, ихы зыхирҟьоз ҳәа акгьы имаӡамкәа. Аԥхьа иантәоз еибадырит. Уи аҽнынӡагьы еибам-бацызт. Ифо-ижәуа иштәаз, иужәлоузеи ҳәа дааис-ны дикит. Ижәла аниҳәа, аҵәы илеиҵо далагеит. У-Ҵурҵумиазар ушԥаԥсыуахеи ҳәа знык иҳәеит, ҩынтә иҳәеит. Уара уагыруоуп, уаԥсыуаӡам ҳәа иеиҳәеит аҵыхәтәан.

– Сара сызусҭоу здыруеит, уара узусҭоу узым-дыруазар ухы усырдыруеит аҽаџьара ҳаиқәшәар… Араҟа ачара еилаагарым, – иҳәеит игәы еилаххы-еи-лаххуа.

– Суршәарцгьы уаҿума?! Сара уара уеиԥш иҟоу имҟаҟаӡакәа ауп ишылбааздо, – иҳәан, аҵҟьарахь

Page 25: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

25

ихы ирхеит. Идтәалақәаз уаангыл рҳәеит, аха дԥаԥашькны, дрызнымкылакәа дрымпыҵҟьаны дцо даналага, Шьаруан астол дахыҵны ддәықәлеит ачара еилеимгарц азы. Иаргьы дгылан дишьҭалт, ашәаргәында, уабацои, уаангыл агәы умазар, ҳәа, иан ихы даницәҳауа, агәашә дҭыҵаанӡа дихьӡеит. Шьаруан сааигәа даашәмышьҭын шиҳәоз, ихьӡаны дааныркылаанӡа, иаҳәызба ааҭԥааны сисуеит ҳәа инапы анаашьҭих, днаимпыҵасын, импыҵԥааны иԥсырҭа иарбаны идәықәиҵан, дышьны деизҟьа дынкаижьит.

Жәашықәса иқәҵаны дҭаркит. Қарҭ ақалақь Орҭаҷала абахҭаҿы акәын дахьҭакыз. Жәышықәса ихигахьан, хәылбыҽхак абаандаҩцәа рхәы анрырҭоз, аибашьра иалагеит ҳәа лымҳаҭасык иоуит, аха ие-ибашьуаз зусҭцәаз изеилымкааит. Абжьааԥны адәныҟа иааҟалоз абаандаҩцәа иаразнак ираҳауан, аха уажәы акгьы рыздырамызт.

Шьаруан иаҳаз агәҭынчымра инаҭеит. Ақырҭцәа ракәзар иалагаз, изеибашьуа зусҭцәахарыда, хым-ԥада аԥсуаа роуп ҳәа ацәалашәара иоун, дмыцәаӡакәа иршеит.

Ашьжьымҭан ашьапеиҵыхраз рыҭгара аамҭа акыр шагыз абаандаҩцәа зегьы ркамерақәа рза-артны адәахьы идәылыргеит. Макьана аамҭа мааиӡац, ҳазладәылыргазеи ҳәа ицәқәырчны ишгылаз, абахҭа аиҳабы даадәылҵын, зегь аарӡырҩны ирылеиҳәеит: – Аԥсуаа ҳабашьра иала-геит. Ҳаԥсадгьыл ашәарҭа иҭагылоуп, ҳадгьылқәа иреиӷьу – Аԥсны ҳақәцаны дара иргарц иаҿуп. Ҳаԥсадгьыл хьчатәуп, ҳауаажәлар еиқәырхатәуп. Хьӡи-ԥшеи змоу Қырҭтәыла аҵеицәа-гәымшәақәа еибашьрак аҿы иаҵамхаӡацт. Уажәгьы ҳаҵахараны ҳаҟаӡам. Аԥсуаа шьапықәыргыларҭа рмоуро-уп ҳадгьыл аҿы. Зыԥсадгьыл бзиа избо Аԥсныҟа

Page 26: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

26

шәдәықәаҳҵоит, иахьаҵәҟьа шәоу ҳашьҭ уеит. Аи-ааира ганы шәаныхынҳәлак, ашьауӷа ишәы қәу шәықәхны, шәхы шәақәиҭызтәуа амнистиа иаха инапы аҵаиҩит ҳҳәынҭқар Едуард Шеварднаӡе.

Абахҭа аиҳабы иажәа алгаха имҭакәа, абаандаҩ-цәа гәырӷьан аҳәҳәара иалагеит, ари еиԥш аамҭа рзыҟалоит ҳәа иҟазма. Рызегьы иахьаҵәҟьа амҩа ҳақәлоит рҳәеит еицҿакны.

Орҭаҷала абахҭа ашә ҟьаҟьаӡа иаартны, ацәгьоу-цәа, арҳәцәа, аӷьычцәа, ақәылаҩцәа, аморфинист-цәа – аӡә даанымхеит. «Абџьар ҳашәҭа, иаҳшәаҳҵо ҳашәҭа, иахьаҵәҟьа амҩа ҳақәлоит. Аԥсуаа ҳзакәу дҳарбап, иахьынтәиааз хыла иаҳарсуеит», – ҳәа рыб-жьы абахҭа архыџхыџуан.

– Жәыргьыҭ шәаннеилак шәеиқәдыршәоит бџьар-ла. Аԥсны шәаннеилак шәара ишәгәаԥхо амаҭәа шәнапала иалышәхуа аҭагылазаашьа шәоуеит, – иҳәеит абахҭа аиҳабы. – Ԥароума, хьума, маҭәоума, машьыноума, шәрықәлан ирцәыжәго зегьы шәара ишәтәуп.

Уи ашьҭахь, дук мырҵыкәа, акрырҿаҵа, акыр-дыржә амҩа иқәиҵеит, Қырҭтәыла апатриарх даага-ны, аиааира жәгааит ҳәа дрықәныҳәаны.

…Жәышықәса дуӡӡа қырҭшәамзар аҽа бызшәак имаҳауа Орҭаҷала абахҭа иҭакыз Шьаруан, иаҳауаз абызшәа ихатәы бызшәеиԥш иҵеит. Бжеиҳараҩык дқырҭуоуп ҳәа акәын дшырдыруаз.

Абахҭа аартны зегь аноурыжьуаз, иара дахьаԥсыуаз азы дааныркылар ҳәа дшәаны дыҟан. Аха баша дшәон, иаргьы доурышьҭит. Амҩа иахьынӡақәыз игәы ԥызжәоз изаҟарзаалак акгьы инимырԥшит.

Аҟәа ианнеилак иҟарҵаша, аԥсуаа ирзыруша ҳәа ир ҳәоны иаҳауаз ихы ихнахуашәа ибон, аха ихаԥыцқәа еихарӷәӷәаны ичҳауан.

Page 27: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

27

Ҵхыбжьон агәы инахысуан еиԥш аамҭазы, Жәыр-гьыҭ иааит автобусқәа рыла. Акрырҿарҵеит, акры-ддыржәит, ирыцәнымхо ирԥылт. Бџьарла еибырҭеит. Ԥшьышәҩык инареиҳаны иҟан. Еиларҳәеит, аха ар рымаҭәа зегьы ирызхашаз ҟамлеит. Абаандаҩы маҭәа шыршәыз инхаз рацәаҩхеит. Ҳара ҳзыхҟьазеи, рҳәан, измауз аӷьалпал шьҭырхит. Аҟәа шәаннеилак, шәхаан ишәымбац шәоуеит ҳәа абахҭа аиҳабы иреиҳәаз араҟагьы ус рарҳәан, еиқәыркит. Рыцыԥ-хьаӡа автоматки, хәышә-хәышә патронеи, фба-фба гранатқәеи рырҭеит.

Ашарԥазӡа Егры аӡиас аҟынӡа иааӡарц егьшрыг-мыз, Шьаруан иҟасҵаша ҳәа аханатә аахыс игәы иҭакны имаз наигӡеит. Иаарту аидарашьҭыхга машьынақәа рыла акәын ишааргоз. Ирҭаз абџьар зегьы шимаз иааикәыршаны ивагылаз зегьы аморф ҟаҵаны иҟан, дырбо иҟамызт, дыԥеит, али-ԥси рыб-жьара абнара иҽеиҭеит. Амашьына аанымгылаӡакәа ицеит. Дышцазгьы аӡәгьы изгәамҭаӡеит.

Ашәарах еиԥш дласӡа ажрақәа дырхыԥо, аҿҟьа-рақәа дырҿысуа, Егрыԥсҭа ҳәа иахьашьҭоу ашьха ашьапаҟынӡа днаӡаны аӡиас дырит. Ҵаҟа лбаа аӡы ӷәӷәан, қәоурашьҭахьын, аршьа амамызт. Знык аӡы даныр, ақыҭақәа дрыламлакәа, хәадала мацара-ла дышзахәоз деиханы ианааилашәшәуаз аамҭазы иқыҭауаа, патронак иадамхаргьы акыр иаҳзаԥсоуп ҳәа ишеилагьежьуаз, бџьарла деиқәных, дџыхӡа даарыдгылт. Автомат шикыз анырба, рызегьы шанхеит, рыбла иабоз агәра рзымгеит. Иааскьа-ны, идгыланы ихәаԥшра иалагеит. Алиас автомат имкӡацызт. Раԥхьаӡа акәны инапаҿы иикыз Шьару-ан иавтомат ауп… игәалашәан, ахәыцра дҭагаланы дшамаз, уанализқәа бзиоуп, ԥаса аҵкыс еиӷьуп ҳәа аҳақьымеҳәшьа лыбжьы игаз дызлаз ахәыцра даалнахит (даныҩналазгьы изгәамҭаӡеит), ихы

Page 28: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

28

анаашьҭих, агәыр кны дихагылан. Уажәы иузыҟаҳҵо гәырҭынчгоуп, уаха уҭаҳәахаа уарцәоит, лҳәан илалҵеит. Дцо даналага, бнапы заҟа ихааузеи… Иансылабҵоз зынӡагьы исызгәамҭаӡеит ҳәагьы налышьҭеиҳәеит.

Агәыр аниларҵалак ашьҭахь дыкны дызмаз ахәыцра иҽамыхны ицшьҭаз ачымазцәа рацәажәа-ра далагон. Аамҭа алеигон. Алиас ари апалатаҿы дышьҭазижьҭеи заҟаҩ ааганы ицышьҭарҵахьааз, заҟаҩгьы хәышәтәны иоурыжьхьааз. Ибзиаханы ианцалак ашьҭахьгьы дырбарц заҟаҩ изаахьадаз.

Баша ирымҳәозаап, абахҭаҿы еицҭакызи ахәышә-тәырҭаҿы еицышьҭази ахаан еихеибаршҭуам ҳәа… Акырынтә дазхәыцхьан Алиас ари аҳәамҭа. Апалатаҿы иаанагахьаз зегьы дырнаалон аӡәызаҵәык ида. Чмазаҩы ӷәӷәак дрылаӡамкәа, зегь хар рымаӡамкәа еицәажәо ишиаз, аҳақьым дааҩналан, шәпалатаҿы аҽа каруаҭк ҳаргылароуп, мышқәак роуп данаанхо, апрофилактиказы ауп дзышьҭаҳҵо ҳәа нараҳәан, дындәылҵит. Инашьҭарххны акаруаҭ ааҩнагалан, аҵыхәанӡа инаган инадыргылт. Иар-гьы дааҩналт, шықәс ҩынҩажәи жәаба иреиҵамыз хаҵа ҳаракык, уахьихәаԥшуаз дычмазаҩуп ҳәа изуҳәаратәы дыҟамызт.

Алиас уи дшынеиҿаԥшыз еиԥш дшоурысмыз, дышкавказтәыз идырит. Азныказы даԥсыуаз џьи-шьан, игәы хыҭхыҭуа дааҟалеит. Уаԥсыуоума ҳәа диазҵаарц иҿы анааихихуаз аамҭазы, иҿаԥхьа ишьҭаз ачымазаҩ ихы ҩышьҭихын: «Амеран, еиҭа уаанагама?» ҳәа ҿааиҭит.

Алиас «Амеран» ҳәа аниеиҳәа иҽааникылт, даԥ-сы уам зар ҟалап, иҳәан.

– Ари иареи сареи ҵыԥхгьы ҳаицышьҭан, – Алиас ишҟа даахьаҳәын, – уара уеиԥш уигьы деибашьуан, аума ихигахьеит, ахқәа илаз уаԥсҵәык азна илырх-

Page 29: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

29

хьеит. Иаргьы Қырҭтәылатәуп, уаргьы уахьтәыми. Шәеибадыр, ари даара дуаҩ бзиоуп. Ачеиџьыка имо-уп. Уахгьы-ҽынгьы ихәы изааргоз, ҳара ҳалымкаа ҿаҵакгьы ифомызт, – ҳәа иоужьны ацәажәара дана-лага, Алиас изымчҳаит.

– Иҟалозар шьҭа уаангыл, ҳхы ҭуҟьеит… Сара Қырҭтәылатәӡам ҳәа заҟантә иуасҳәахьоузеи, Аԥснытәуп… – Инеиҿакшаны ауп ишиҳәаз.

Амерангьы, аԥсыуак дахьышьҭаз апалатаҿы дшаар газ аниба, ицәымыӷхеит. Иҟаиҵара изымды-руа, ашә дыла хеит. Азныказы ишьҭахьҟа дгьежьит, аҽа палатак ашҟа сиажәга ҳәа дрыҳәарц, аха дана-аргоз иарҳәахьан апалатақәа унацәа узрыламҵо ачымазцәа рыла ишҭәыз.

Амеран дышьҭарҵарц дрыманы ианааҩнала инаркны, Алиас илаҿы дмааит. Ақырҭуа акцент ала данцәажәа, ихы ихнахызшәа ибеит. Уинахыс ишҟа аԥшра даҟәыҵит, заҵа димацәажәарыз.

Амерангьы игәеиҭеит дшиҭахымхаз.Заҵа ак имҳәарыз, димбаӡозшәа ҟаҵаны дивсны

дцан, издыргылаз акаруаҭ днықәиеит игәы ҩарханы, аҭуан даҵаԥшуа.

Акгьы еибырҳәомызт, аха автоматла еиҿахыс-уазшәа акәын ишеихәаԥшуаз.

Ҿааихак ҟазымҵоз ас аниба, ак иҿыҵҟьар ҳәа дшәаны, иҿы еихакны икын. Егьырҭ усгьы ицәажәаӡомызт.

Ажәакала, Амеран данааи нахыс ҿымҭрахеит апа латаҿы. Рыбжьқәа рымырхызшәа, еиқәышьшьы ишиаз ачымазцәа рзеиԥшкрыфарҭаҿы аус зуа ахәшаҩы ашә даалагылан, – уаххьафара аамҭа ааит, шәҽагмырхакәа акрыфарҭахь шәнеи, – анылҳәа, зе-гьы цеит.

Алиаси Амерани рымацара еизынхеит. Изеи-ҿамԥшуа, изыниалаз акаруаҭқәа ирызкуамызт,

Page 30: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

30

инаҳәуан-иааҳәуан. «Ари сара сишьырц исаба-шьуаз иоуп» ҳәа акәын аҩы џьагьы рыгәқәа шыҟаз, ргәаӷ еибакны ршьа еилашуа, уажәымзар-уажәы инеидыԥсылап уҳәо аҟынӡа инеирц егьрыгмызт.

– Угыларатәы уҟамзар ухәы арахь иузааҳгоит, – лҳәан, ахәыҭаҩ дааҩналан, Алиас дааихагылт.

– Уахатәиала акы сгәы иаго сыҟам, – иҳәеит. Аме-ран ишҟа лхы налырхан, – уара узымнеиуазеи уах-хьафара? –ҳәа дизҵааит.

– Аппетит сымаӡам, – иҳәеит уигьы.– Шәара ишышәҭаху, – лҳәан, днахынҳәны дцеит.– Арҭ, ацә кшақәа реиԥш ишеихәаԥшуаз, рха-

ла еизныжьны ҳааит. Ҳнеиаанӡа еибамшьындаз, – иҳәеит ацәажәара бзиа избоз, уаххьа ыфаны, ихынҳәны апалатахь рҿанаарха.

Уаххьафара ианцоз ишаанрыжьыз еиԥш, ихын-ҳәны ианааигьы, изеиҿамԥшуа ишиац ииан.

Ас ианырба зынӡа рылаҿырымҭӡеит. Апалата аҩныҵҟа иҟалаз аҿымҭра ирласны

рҩызцәа арцәеит. Алиаси Амерани егьырҭ реиԥш даргьы ыцәазшәа ҟарҵеит, аха лацәааихьшь рыма-ӡамызт. Реибацәымӷхара еиҳа-еиҳа ихыжжуан, аӡә деимҳәар, ма деимсар егьи изычҳауамызт, ихы иалнарҟьон.

Алиас аԥхьа данибаз нахыс Амеран гәҩарас дҟаиҵеит, ақырҭцәа Очамчыра иалцаны ианкарцоз, Аалӡга ацҳаҿы ишьҭахьҟала иеихсыз иара иакәызшәа. Ахы аниқәшәа дкаҳаанӡа даақәҵәиаан, иаргьы ди-еихсит. Ицәаара акәын иибоз. Ахы аниқәшәа, иар-гьы дкаҳаит. Ихы аарлаҳәа ианышьҭих, дзеихсыз ихымҭа дамгакәа, дҳәазо дышцоз ибеит, аха иавто-мат шьҭыхны иқәикаанӡа, амҩаду иавган игаз ажра иҽҭаижьит. Деибганы дсышьҭуам ҳәа дгыларц да-лагеит, аха ибӷа ҟәыбаса ицахьан, агылара акәым иҽизмырҵысуа даанхеит.

Page 31: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

31

«Амеран даанышәмыжьын, дыхәны ажра дҭа-жьуп. Ҳфыр хаҵа иоуп», – ҳәа усҟан игаз абжьы уажәы игәы иқәыҩуа далагеит. «Уи иакәҵәҟьазар, уажәы абра саԥхьа дышьҭоуп. Изутәузеи? Ҩымш-хымш рыла доурышьҭуеит, нас дабазбои?»

Амерангьы усҟанҵәҟьа дзызхәыцуаз аибашь-раан ихигаз акәын… Жәыларак аан дзықәшәаз иԥсы ахьынӡаҭоу ихашҭуамызт. Очамчыра араион иар-бан қыҭоу цқьа игәалашәомызт. Аԥсуаа рыштаб уахынланы иақәларц адҵа рырҭеит. Амеран дыз-лаз абаталион адырра зларымаз ала уи аштаб аҿы Урыстәылантәи абџьар рацәаӡаны иааганы ишьҭан. Амеран дызлаз абаталион аштаб аагоит ҳәа акәшара ишаҿыз, ирымбаӡакәа аԥсуа еибашьцәа аарыкә-шан, амца рыжәырҵеит. Ааигәа-сигәа иҟалахьаз аидысларақәа иреиԥшымхеит уи аухатәи. Ишәаны иҩыз рыԥсы ргеит, егьырҭ, ҳаибашьуеит ҳәа иала-газ, цәгьала иҟарҵеит Уи ажәылара далахәын Аме-рангьы. Ӷәӷәала дырхәит. Ишьапы дазго дыҟамызт. Ԥшьынаԥха дҳәазаны, абнара иҽеиҭеит.

Ашьыжьымҭан зықәрахь инеихьаз ҭаҳмадак, фархь мҿқәак еидкыланы иман дшаауаз, ауаҩы аԥсра дшаҿыз ибеит, дивсны дымцеит. Ааигәа-сигәа инхаз еизиган, дызусҭазаалакгьы дуаҩуп, агәнаҳара ҟаҳҵарым рҳәан деиқәдырхеит. Иԥсы иманы иштабаҿы дахьнеиз, «Насыԥ умазаарын… Узлеиқәхазеи? Узлашәаз, ахыхҵәаҩы Алиас ибанда, ачеченқәа раҵкыс еицәоу ҳәа изышьҭоу» ракәын ҳәа иарҳәеит. Уинахыс аибашьра ахьынӡацоз Алиас ҳәа аниаҳалак, игәы ҭӡыӡаауа далагон.

Аибашьра еилгеижьҭеи уи ахьӡ аӡәы иҳәонгьы имаҳацызт. Иаҳаргьы иҭахӡамызт.

Уажәы апалата дшааҩналаз еиԥш, «Ари Аԥсны-тәуп, Алиас ихьӡуп. Шәеибадыр. Уара уеиԥш уи-гьы деибашьуан» ҳәа уаанӡа ицышьҭаз ачымазаҩ

Page 32: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

32

ианиеиҳәа, игәы нҭыԥсааит. Абра саанамгакәа сшьапқәа ԥҵәарауаз иҳәо дааҟалеит.

«Уаха исзыршар, уаҵәы аҽа палатак ашҟа сиажәга ҳәа расҳәоит, – ҳәа игәы бжьысны диан лацәеихьшь изыҟамҵо.

«Мчыбжьык ала иара дыбзиаханы иҩныҟа дцоит. Сара сыбӷа ԥҵәаны, сшьапы сзықәымгыло сышь ҭо-уи жьҭеи заҟа ҵуазеи… Аринахысгьы… Исзыԥшузеи… Сыла дахьабо сзычҳауам.. Дахьышьҭоу уаҳа дзым-гыло дышьҭасшьуеит ҳәа дгыларц даналага, ибӷа еихҵәазшәа иҽизмырҵысуа икаруаҭ дықәҳаит. Убас ҵәҟьоуп Очамчыра Аалӡга ацҳаҿы ахәра ӷәӷәа иоуз ишьапы дықәнаҟьан дышканажьыз.

Алиас сгылоит ҳәа дахьалагаз убри еиԥш хьаак изцәырҟьеит, ҿыц ахы аниқәшәаз аҵкыс еицәаны. Аҭӡамц дызкыдымлеит, уаҳа агьигымхеит, аха ахьаа шизымчҳауа иаӷа иимырбарц азы ихаԥыцқәа еихарӷәӷәаны, акгьы змыхьӡо иеиԥш, аҭуан да-ҵаԥшуан.

Абас ҩныҵҟала ишеибашьуаз еибамырԥсыкәа, цәгьаԥсышьала идыршеит аҩыџьагьы.

Иаха алашьцара ҳаибанарбомызт, ҳаԥсы иаԥшә-махеит, аха ишар ҳашԥеиҿаԥшуеи, ишԥаҳархәлои ҳәа ихәыцуа ишиац ииан.

Ирыцышьҭаз ачымазцәа аӡәы (ацәажәара бзиа из-боз) дыбзиахан, ашьжьымҭан доурышьҭын, иҩныҟа дцеит. Ҩы џьа иаанхаз, иуацәажәаргьы рҭахымызт, урацәажәаргьы рҭахымызт. Аӡә дпапын, егьи дыԥ-сылманын. Апап данааԥшлак, илахь-иџьымшь ӡатәуа, аԥшьаҩыра шәҟәы аашьҭыхны, «Помилуй, господи! Прости, нас, помоги раба Божие» ҳәа анцәа иашьапкра далагон. Аԥсылман ижакьа инапқәа нахьшьы-аахьшьны, «Иллаҳ Бисмилаҳ, Раҳмани Раҳиле» ҳәа анамазкра далагон.

Page 33: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

33

Апап дааганы данышьҭарҵаз, Алиас ичы-мазара дыр гәаҟуа дшамаз аниба, анцәа ҳазшаз уиҳәала усыцхраа ҳәа, уи духәоит, ухы-угәы зегь иуҭар уеиқәирхоит, агәнаҳа умазар иухихуеит ҳәа иеиҳәеит.

Азныказы, Алиас, апап ишиҳәаз еиԥш, анцәа иҳәара далагеит.

– Уиҳәала, уиҳәала, ҳазшаз уиҳәала, – ҳәа даниҟәамҵӡа, игәы ԥҵәазар акәхап, сиҳәеит, сиҳәеит, аха акгьы дыс мыхәеит, еиҳа-еиҳа сеицәамхозар сеиӷьымхеит, – ҳәа иеиҳәеит.

– Анцәа уаҭеимҵааит… ҳазшаз зегьы дҳацхраа-уеит, зегьы ҳихьчоит… Акгьы дысмыхәеит умҳәан, – апап игәамԥхеит.

– Дысмыхәазар дсыхәеит сҳәарыма? Анцәа иҿаԥхьа амцҳәара ҟалом ҳәа умҳәази, иухашҭыма?!

Апап акыраамҭа Алиас аҭак имҭаӡакәа дихәаԥш-уан.

– Исоуҳәо сазыԥшуп, – иҳәеит, Алиас, апап дԥишәарц иҭахызшәа.

– Уара уантихристума, анцәа дхоумҵаӡои? – иҳәеит апап, илахь-иџьымшь ӡатәуа.

– Зҵаарак усҭоит, аҭак ҟауҵозар, сара сынцәа-хаҵаҩу сынцәахаҵаҩыму уасҳәоит.

– Зҵаарас иумоу иарбану?– Анцәа зегь зымчу аԥсцәа рыргылара, рыԥсы

аҭаҵара илшозар, зыԥсы ҭоу реиқәырхара зилым-шозеи?

Апап Алиас изҵаара аҭак заҵа иимҭарыз, уина-хыс ишҟа аԥшра даҟәыҵит.

Алиаси Амерани еиҿаԥшыр ҳәа ишәаны, рышь-ҭахьқәа еирханы акәын ишиаз.

Алиас ҽынла акәым, уахынла хәшәыда дзыцәа-ӡомызт. Уи аҽны дҭахәхәа ԥыҭраамҭак дыцәеит. Ԥхыӡ цәгьак имбакәа дыҟам, зышьҭахь иеирха-

Page 34: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

34

ны ишьҭаз ишҟа данааҳә, Амеран игәы ҩарханы, хьаа имаӡамшәа, аҭуан даҵаԥшуа дышиаз ибеит. Деилашәеит. Сара сыԥсуеит, иара дказза диоуп. Агылара сылшо сыҟандаз ҳәа игәы еибафо дшыҟаз, аҳақьымеҳәшьа дааҩналан, – Хахубиа шәыуа дар-бану? – ҳәа дрызҵааит. (Дара аҩыџьа ракәын апалатаҿы иҟаз, егьырҭ апроцедурақәа рахь ица-хьан.)

– Хахубиа сара соуп, – иҳәеит Амеран.– Уаҵәашьҭахь уоурышьҭуеит. Иахьа асааҭ 4 рзы,

36-тәи акабинет аҿы уцаны уанализқәа руҭароуп, – лҳәеит. Нас Алиас иахь даахьаҳәын, – Уара иужәлоузеи? – лҳәеит.

– Ахаҳәба сыжәлоуп сара, – иҳәеит, ибжьы апала-та идәылыҩуа аҟынӡа ицәдуханы.

– Угаразы иааиуеит, уҽырхианы уԥшыз, – лҳәеит аҳақьымеҳәшьа.

– Сабаргои? – иҳәан, уамашәа ибо дналҿаԥшит.– Ахәылбыҽха иуарымҳәаӡеи иахьа уԥырҟараны

ишы ҟоу? Иухашҭма? Уажәыҵәҟьа угаразы иаауеит.– Исхамышҭӡеит, аха… – абри агыруа иоуп сеи-

лазгаз, – ҳәа иҳәарц егьааигымхеит.Санбоурышьҭуеи, абри ибжьы смаҳауа, ихаҭа

дсымбо санбаҟалои ҳәа амшқәа ԥхьаӡо аҭӡамц ахь зхы рханы ииаз Амеран, «Ахаҳәба соуп сара» ҳәа Али-ас ибжьы аниаҳа, ашырҳәа дааҳәын, ишҟа дыԥшит. Рылаԥшқәа еиқәшәеит. Ирзеиҟәымхуа еиҿаԥшуа иаанханы ишыҟаз, акаталка рыманы иааҩналан, Алиас данҵаны, аԥҟарҭахь дрыманы ицеит.

«Заҟаҩ агахьада, заҟаҩы аԥсра иацәганы арахь апалатахь иаанагахьада, заҟаҩгьы залымҵыкәа наҟ аморг ахь иагахьада» ҳәа, Амеран ддәылҵны Али-ас дызманы ицоз акаталка аԥҟарҭатә блок иныҩ-налаанӡа дазыԥшуан.

Page 35: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

35

Ԥшь-сааҭк рышьҭахь дыԥҟаны дааргеит. Уааи-цә шәа ратәы дыҟан. Аха даара иманшәалахеит ҳәа уажәы-уажәы иааиуаз аҳақьымцәа иеибырҳәоз Аме-ран иаҳа уан.

Рпалатаҿы ишьҭаз ракәым, егьирахьҟа ишьҭаз ачымазцәагьы ааины инапы ааныркылон, идыр-ныҳәалон аԥҟара ӷәӷәа ибзиан дахьалҵыз азы.

Дрыман ианааҩналаҵәҟьаз Амерангьы иҭаххеит зегь ааихаршҭны, днеины анцәа иџьшьоуп ҳәа иеиҳәарц, аха дизааигәахо даналага, Алиас убри еиԥш блақәак иирбеит, заҵа иааигәа днеимышьҭрыз, харантәы уахьызбогьы сзычҳауам ҳәа аанарго.

Амерангьы анцәа усимырбааит иҳәозшәа, ишь-ҭахьҟа даахынҳәит.

Алиас аҽны хәлаанӡа хар имаӡамкәа дыҟан. Ицәа-жәарагьы ԥкымызт. Ахәылбыҽха иаалырҟьаны деи-цәахеит. Аҳақьымцәа идгьежьылеит, ихагьежьит, аха еиҳа-еиҳа деицәахо, ихдырра ицәыӡуа дала геит. Анализқәа зегьы аныҟарҵа ашьҭахь, ишьа зынӡа ишмаҷхаз днарбеит. Иаарласны ашьа илаҵатәхеит. Ишьа иаднакылаша шьак ҟамлеит ахәышәтәыраҭаҿы. Егьырҭ ахәшәтәырҭақәа рышҟагьы иашьҭалт џьа-ракыр иҟазар ҳәа, аха уахьгьы егьҟамлеит.

Алиас дҭанагалахьан, илақәа аахитшәа ҟаиҵон, аха иаразнак илацәақәа ахаԥаны ихырҩон. Аҳа-қьымцәа иааҟәымҵӡакәа ателефонқәа ирысуан, аԥшьбатәи агруппа, отрицательныи резус ашьа анаҳмоу ауаҩы даҳцәыԥсуеит ҳәа. Ари агруппа ашьа злоу зынӡа имаҷҩуп. Адәахьала егьанырмоу, ахәшәтәырҭа аҩныҵҟа адонор ишьҭалеит. Аха уи ашьа злаз аӡәызаҵәыкгьы дҟамлеит уи аамҭазы.

Уахала егьҳауам. Уаҵәынӡа иара изычҳауам. Ишԥаҟаҳҵари ҳәа аҳақьымцәа анааилаха, – Сара исымоуп шәара шәзышьҭоу ашьа, исылыхны илашәҵа, – иҳәан, дҩагылан дааины аҳақьымцәа

Page 36: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

36

даарыдгылт уажәраанӡа инапқәа игәы иқәԥсаны ҿымҭӡакәа аҭуан иаҵаԥшуа ииаз Амеран.

Али-ԥси рыбжьара ишьа илхны анализ азыруеит. Иара ахаҭа акәхеит. Аҳақьымцәа гәырӷьеит. Амеран днаганы Алиас ивараҿы днарианы, ишьа илыхны, Алиас иларҵеит. Иара ихаҭа ишьа акәушәа ицәа-ижьы иаднакылеит. Ида иҭаланы игәы аҟынӡа ине-ин, аусура иаланаргеит. Ахшәаара иаҿыз иқьышәқәа аҟаԥшьра рықәлеит. Мышкы-ҩымш рышьҭахь, ды-ккаӡа далҵны зегьы днарылаԥшит. Иҭабуп, сеиқә-шәырхеит ҳәа аҳақьымцәа раҳәара далагеит иҿы еилго даныҟала.

– Ҳаргьы ҳара ҳауп, аха уеиқәзырхаҵәҟьаз абра ишь ҭаз иоуп, – ҳәа иарҳәеит.

Уамашәа ибеит Алиас. Рыуа дарбану ҳәа дҵааит.– Макьана мыцхәы ацәажәара уԥырхагоуп.

Ушьапы уқәгыло уаныҟалалак иуаҳҳәоит, – рҳәеит аҳақьымцәа.

«Сеиқәзырхаз дызусҭада?» ҳәа ахәыцра далаге-ит аҳақьымцәа анца. Ицышьҭаз адәахьы иҟан уи аамҭазы.

Ивараҿы ишьҭаз апап дшааҩналаз еиԥш дизҵааит, шәыуа дарбану сеиқәзырхаз ҳәа.

– Нахьхьи ҳпалата аҵыхәаны ишьҭаз, узмацәажәоз, узхәамԥшуаз, иуцәымӷыз иоуп, – ҳәа иеиҳәеит апап.

– Уи сышԥеиқәирхеи? – Ииџьеишьеит.– Ашьа улаҵатәхеит, иуларымҵар уеиқәхаӡомызт,

иула рҵашаз уцәа-ужьы иаднакылоз агруппа рзымԥ-шааит. Аԥсра уалагеит. Убри аамҭаз уи ачыма заҩ икаруаҭ даныҵны, аҳақьымцәа даарыдгылан, сшьа сылхны илашәҵа, иара илоу ашьа аҩызоуп саргьы исылоу ҳәа реиҳәеит. Анцәа думазаарын, шәшьақәа еиқәшәеит.

Page 37: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

37

«Иареи сареи ҳаибабар ҟалаӡомызт, ҳаиӷацәан. Ашьоура ҳабжьан. Схы сзымдыруа саныҟала, аԥс-реи абзареи санрыбжьаха, сеиқәзырхашаз ашьа аныҟамла, иара ихала дааины, сара сшьа сылхны илашәҵа, ҳәа реиҳәеит. Аҳақьымцәа изларҳәо ала, уи ишьа ыҟамызҭгьы, аухатәи аҵх сызхымгозаарын… Схы здыруа сыҟазҭгьы аӷа ишьа сыларҵар зуамызт. Сшьа шыцқьоу сыԥсыр ԥсроуп ҳәа исыԥхьаӡомызт. Амеран исзиуз иаанагозеи? Уажәы адәахьы дыҟазар акәхап, икаруаҭ ҭацәуп. Дааҩналар, иа-реи сареи ҳашԥеихәаԥшуеи? Иасҳәараны сыҟоузеи ҳәа иҽизмырҭынчуа, дынкахәыцуа дшышьҭаз, аҽа чмазаҩык дааҩнаргалан, днаган, Амеран дахьышьҭаз ддыриеит.

– Ҳгәыла иахьа доурышьҭит. Абзиала ҳәа ҳаиҳәеит. Днаскьаагеит, – ҳәа Алиас ивараҿы ишьҭаз шааҩналаз еиԥш иарҳәеит.

Алиас уик зынӡа хәыцра шәкы изцәырнагеит. Иҽсмырбаӡакәа дцеит. Ари змааноузеи? Изыз_ҳәоузеи? – ҳәа азҵаарақәа ихы иеиҭон, аҭак изыԥ-шаауамызт.

Алиас ихигаз акризис ашьҭахь хәыҷы-хәыҷла аиӷьхара далагеит.

Иан, иаб, иуацәа, иҭынхацәа зегьы Алиас аиӷьхара даҿуп ҳәа ргәы каршәны ишыҟаз, деицәахеит ҳәа раҳаит. Москва ацара-аара мариазма, есқьаангьы иаҳәшьа лакәын ицаны идтәалалоз, аха уажәыҵәҟьа уи дцаратәы еиԥш аҭагылазаашьа лымамызт… Ани аби даара ихьааргеит, аха Москванӡа ицаратәы еиԥш агәабзиара рымамызт.

– Шәызегьы шәыҩнқәа рҿы шәыҟаз, сара сцо-ит, митә шәаҳазшәа шәаҿамаапкын, сышнеилак еиԥш дшыҟоу адырра шәысҭоит, – иҳәан, иаб иа-шьа Џьамал рызегьы ааникылт. Џьамал қәрала дмаҷӡамызт, аха Алиас дхәарҭамхеит ҳәа аниаҳа,

Page 38: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

38

Москвантәи исаҳарызеи ҳәа иҩны дтәаны аԥшра игәы иамукәа, ианиаҳаз аҽныҵәҟьа амҩа дықәлеит.

Ишраҳаз еиԥш акәӡамкәа, иашьа иԥа дахьышьҭаз даннеи аиӷьхара дшаҿыз илала ибеит, дгәырӷьеит. Алиас акыр ҵуан Аԥснынтәи уаҩ дизымаацижьҭеи. Иҟоу-иану ак сазҳәаша аӡә даандаз ҳәа дшыԥшыз Џьамал данизаа, дгәырӷьеит. Аԥсны зегьы ибазшәа игәы ҟалеит. Ушԥаҟоу ҳәа диазҵаанӡа иаб иашьа азҵаарақәа иҭара далагеит. Дрыҿгәыҳәаауа дыҟан, ани дышԥаҟоу, егьи дышԥаҟоу ҳәа зегьы аӡәаӡәала рыхьӡқәа ҳәаны, дразҵаауа далагеит. Иаби иани раԥхьа Сафарбеи иаб Даҭа иԥсҭазаашьоузеи ҳәа дидҳәацаланы дикит.

– Уахь зегьы хар рымаӡам, еибгоуп. Урҭ уашьҭан ҳры лацәажәап. Уажәы уара ушыҟоу атәы саҳәеи. Хар умаӡамкәа уҟоуп ҳәа акәын ишаадыруаз. Даа ра ухәарҭамкәа уҟалеит ҳәа лымҳаҭсык ҳаун, ҳдәықә-лоит ҳәа иалагақәаз ҟалеит, аха шәара шәаангыл, сара сцоит сҳәан, сааит. Иҟалазеи? Уеиҭаԥырҟама?

– Мап, сԥырымҟаӡеит. Хар сымаӡамкәа сшыҟаз иаалыр-ҟьаны сымч маҷхеит, ашьақәыӷәӷәара зынӡа илаҟәит. Сыԥсы сылышәшәеит… Сеиқәдырхеит.

– Ара аҳақьымцәа дуқәа ыҟазар акәхап, анцәа илыԥ ха роуааит уеиқәзырхаз.

Алиас деиқәзырхаз агыруа ишьа шакәыз иаб иашьа иеиҳәарц игәгьы иҭаӡамызт. Аха уашьҭан зны еили-каар агыруа ишьа шԥаулоуҵеи ҳәа иаҽԥнимҳәаразы иҟалаз шыҟалаз иеиҳәеит.

– Анцәа ихы иимырхьааит, игәы иимырхьаа-ит. Иара ихаҭа дшычмазаҩыз зшьа злыхны иузҭаз. Дызусҭа абас узызуз, уи дыҩнадатәуп, – иҳәеит Џьамал.

– Дагыруоуп. Ишьа ансыларҵоз схы здыруа сыҟа-мызт акәымзар, сшыԥсуа здыруазаргьы агыруа ишьа мап ацәыскуан.

Page 39: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

39

– Дагыруазаргьы ас узызуз, зшьа узҭаз дырӡтәым, ижәла угәалашәома?

– Ишԥасгәаламшәои, агыруа цырцыр ижәла имо-уп, Хахубиоуп.

– Хахубиоуп уҳәама? Ус акәзар, уи ҳара дҳажә-лантәуп.

– Дышԥаҳажәлантәу? – иџьеишьеит Алиас.– Уара уахааным, уара уакәым саргьы, аџьнышқәа

Сталини Бериеи аԥсуаа ахлымӡаах иҭаргыланы ианрымаз. Аԥсуаа қырҭцәаҳтәуеит ҳәа иалаге-ит. Аԥхьа акырзылшоны иҟаз ҳҵеицәа хазынақәа, ажәлар шәраӷоуп ҳәа ирылгеит, иршьыз ршьит, иаанхаз ҿааҳәыра рмоуа идырӡит. Ажәлар зеиуоу рзымдыруа хыда ианаанха, иршәаны рыжәлақәа ддырԥсахит. «Ба» ҳәа инҵәоз ажәлақәа рҵыхәақәа аахыҵәҵәаны, абгахәыҷы аҵыхәа еиԥш ишьҭаҳәазо, «иа» рыцрарҳәеит.

Самырзаҟанаа рылоуп аԥхьа излалагаз, 34 нызқьҩык уаҟа инхоз аԥсуаа мчыбжьык ала рпаспортқәа рымырхит, рыжәлақәа рхых-ны иқырҭцәоуп ҳәа анҵаны ирыздырхынҳәит. Аԥсуа жәлақәа зегьы убас рзырураны иҟан, Аԥаҵа ду дхаббала дымцазҭгьы. Бериа аҳәажә еиԥш инеигәыдҵаны дрымшьызҭгьы. Убасҟан зыжәла рыԥсахыз ирхылҵшьҭроу иоуп агыруа цырцыр ҳәа узҿу Хахубиагьы. Сабду акырынтә иҳәо саҳахьан ажәла уԥсахыр ауеит, амилаҭрагьы уԥсахыр алшоит, аха ашьа узыԥсахуам ҳәа.

– Уи ижәлаҵәҟьа Ахаҳәба шакәыз изымдыруа дҟаларымызт, убама ашьа иҟанаҵаз. Аҽамԥсахӡеит. Ишәыбжьаз аиӷара иханаршҭит. Баша ирҳәомызт ҳабацәа, ҳабдуцәа ажьрацәара шәыџьара изго ашьа ауп ҳәа.

– Шьҭа еилыскаауеит иҟалаз... ҳәа – Алиас ацәажәара данналагоз, аҳақьым ашә даалагылан,

Page 40: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

40

егьлымҳәеит, аха шьҭа иазшәырха ацәажәара ҳәа лҿымҭрала идлырдырын, днахынҳәны дцеит.

Алиас Хахубиа изы ииҳәарц ииҭахыз дааҟәыҵын, ари иааиз алеишәацәгьа ҳәа илышьҭоуп, иахьынӡаҳ-ҭаху ҳаилырцәажәом, маҷӡак иадамхаргьы ишәыԥсҭа заашьоу атәы саҳәа. Ишәынхашьоузеи, ишәын ҵышьоузеи, аибашьра ашьҭахь ауаа рхы рыз-ныҟәго иҟоума? Ҳауацәа, ҳҭынхацәа, ҳгәылацәа зе-гьы еибгоума ҳәа азҵаарақәа рацәаны иқәиԥсеит. Аха акызаҵәык дзыхьӡаз Дамеи иаби Шьару-ан иаби шыԥсыз атәы иаҳәара ауп. Убригьы цқьа иҳәаны далгаанӡа, шьҭа иазхоуп, ачымазаҩ усҟак илаӡом, цәажәарала еиҭа дурчмазаҩырц уҭахума ҳәа аҳақьымцәа лӡарақәа нҭарс икны дааҩналан, ддәылҵны дымцар лымуит.

Алиас, Џьамал данца, ихи иареи рымацара ианаа-изынха, ахәыцрақәа ааисны дыркит.

Аԥсы ҵаауп рҳәоит… агәыҭҟьара ианақәшәа, аԥсы дырхашҭын, ҳхы ҳзеиқәырхозар ҳәа абнахь иҩит.

Дамеи иаб уаҩы уашәшәырак иакәын, изымчҳакәа игәы аангыло далагеит, дкаҳаанӡа Сафарбеии иареи даашьҭԥааны дган дырҵәахит. Иан дырзым геит. Илымуит. Сыҷкәын имацара дааныжьны сцом…. сыҷкәын дрыцҳашәшьа, аԥхьа сара сышәшьы ҳәа дӷьаҵәыӷьаҵәуа, илымҳа иҭаҩуазшәа лыбжьы иаҳауан.

Ари адгьыл қырҭуа дгьылуп, ара дышәҳаржуам, Урыс тәылаҟа дганы дыжәжы ҳәа ан лгәаҟрабжьы иалыҩны игоз афашистцәа рыбжьы уажәыгьы иаҳауазшәа акәын игәы шыҟаз.

Игәалаиршәон Дамеи иҩызцәа ауха аашаанӡа анышәынҭра ишадтәалаз иџьабо. Аҭаҭын ахара бзиа ибон ҳәа уажәы-уажәы аҭаҭын амца аркны, инаганы иханы иқәырҵон.

Page 41: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

41

Еибыҳәаны иҟазшәа, ашьжьымҭанӡа, ақыҭаҿы шәақьк змаз уаҩ даанымхеит, аусҳәарҭа ашҭаҿы еизеит. Иацы излаԥшыз рызегьы ргәы ԥжәаны иа-ман, аԥсра иақәшәаз дара ракәушәа акәын ры-лахь шеиқәыз. мхедрионаа ирыжәлатәуп ҳәа аӡәы иааиҳәар, напышьашәала акәзаргьы, деимыжәжәа даагоит ҳәа идәықәлон, ргәаӷ убри аҟынӡа ргәы иҭашны иҟан.

– Уажәыҵәҟьа ҳазегьы ҳгәы ԥжәаны ҳаҟоуп, – еи заз зегьы ааирӡырҩит зегь реиҳабы Ҟанчобеи. – Ауаҩы игәы ԥжәаны даныҟоу ихшыҩ аҵкыс имч еиҳахоит. Ҳшьа аауеит ҳәа ҳхы иазеицәоу ҟаҳамҵааит. Ҳаӷацәа ззыԥшугьы уи ауп. Абџьар ҳнапы ишакым рдыруеит. Ардәынашьыга ашәақьқәа кны атанкқәа ҳарԥылар акыр ҳалшараны иҟоума?..

– Нас ишԥаҟаҳҵои, ҳтәаны ҳаԥшызаауама, ақырҭцәа ааны ҳанбаршьуеи ҳәа, – зҳәақәаз ҟалеит.

– Зегь ҳаиццәажәарым, еиӷьуп ҳаизхәыцыр. Досу иахьиҭыԥым дымцо, ихы иааҭашәаз ҟаимҵо, аибашьцәа еидызкылаша, иззыӡырҩыша алаҳхы-роуп иахьаҵәҟьа, абрааҵәҟьа, – иҳәеит Ҟанчобеи.

Ҟанчобеи ақыҭаҿы ҳаҭыр ду зқәыз уаҩын. Акырӡа шықәса ақыҭсовет еиҳабыс дахьыҟаз мацаразы акәӡамызт, аԥхьа иргыланы, ауаҩра ду ахьилаз азы акәын. Иажәа ажәан, ииҳәаз ҳәан. Еилых-еилаҵа ди-мамызт, ахәыҷы инаиркны аду иҟынӡа иацәажәашьа дақәшәон, игәы акышьа дақәшәон. Атәанчарахьы дыш-цахьазгьы, ақыҭаҿы ицәгьоума, ибзиоума иааҟалоз рзы иара ишиазҵаац иазҵаауан. Ажәлар игәра ргон… Уажәы, ишымгәыӷӡоз аамҭа цәгьа анырзыҟала, аӡәы ас иҳәо, ҽаӡәы арс иҳәо, иҟарҵаша рзымдыруа иа-нааилаха, даарылагылан, зегьы ҳаиццәажәарым. Уи иақәҳарӡуа аамҭа ҳамам. Аӡәи-аӡәи ҳаизыӡырҩып, аниҳәа, зегьы рҽааныркылан, ишҟа аԥшра иалагеит. Ҳаузыӡырҩуеит, иҳауҳәозеи ҳәа.

Page 42: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

42

– Иацтәи амш иаҳнарбеит зыҟны аус ҳауз изакәтәы уаамыждақәоу. Дамеи иани иареи ишрызныҟәаз ашьҭахь арҭ ауаҩы ихылҵит ҳәа узрызҳәом, – абас дналагеит Ҟанчобеи. – Аԥсы, ауаҩ иакәым, алаҵәҟьа дрыцҳанашьоит. Адәы дықәхаргьы идтәаланы дахьчоит, дыржаанӡа. Арҭ ҳаӷацәа, ала аҵкыс еицәахеит… аԥсы иеихсуан… анҵәҟьагьы илеих-сит. Зегьы иҳаихсуан, ари адгьыл ҳара иаҳтәуп ҳәа ҳаԥсцәа ҳдыржуамызт. Агәнаҳара ду иҟарҵаз анцәа ирхьигӡоит…

– Анцәа ирхьигӡоит ҳәа ҳтәаны ҳаԥшызаауама?! Иахьаҵәҟьа урҭ ҳрышьҭаланы ашьа аауеит, – рҳәеит ҷкәынцәақәак ирзымчҳакәа, Ҟанчобеи ацәажәара дша ҿыз.

– Уахьоуп саргьы сахьазкылсуа. Шәара ишәҳәо иашоуп, иацтәи амш ашьоурахьы иҳаԥхьоит ҳа-зегьы. Уи азоуп ҳзеизазгьы. Избоит аҷкәынцәа шәгәы шеилашуа. Аццакра ҳаиааироуп. Аццакреи аизымӡырҩреи аибашьраан аӷа иаҵкыс еицәоуп. Ҭархагоуп. Иахьаҵәҟьа ашьа аауеит шәҳәеит. Изла? Ашәарыцага шәақьқәа рыла атанкқәа шәырԥылома, иаанаҳкылоит ҳәа. Сара Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду салахәын, иԥысшәахьеит. Избахьеит аибашьраҿы амч змоу иаҵкыс, ахы змоу дшаиааиуа. Уи ала исҳәарц исҭаху, аԥхьа бџьарла ҳҽеиқәҳаршәароуп. Уи аамышьҭахь, аибашьцәа хадара рзызуа дрымазар ауп. Иахьаҵәҟьа урҭ рыхьӡ ҳәатәуп. Шәақәшаҳаҭхап ҳәа сгәы иаанагоит Сафарбеии Алиаси рнапы ианаҳҵар ари даара имариам аус…

Ҟанчобеи иажәа нагӡаны аҳәаха ирымҭеит, аҷкәынцәа зегьы еицҿакны иақәшаҳаҭхеит.

74-ҩык ақыҭа ҷкәынцәа асиа рҽанырҵеит. Рыԥсад гьыл ахьчаразы рхы ишамеигӡо ҭоуба руит. Ргәыԥ «Аҟәа раш» ахьӡырҵеит.

Page 43: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

43

Аибашьцәа ргәыԥ еиқәдыршәеит, аха излеиба-шьуа абџьар рымамызт. Сафарбеии, Алиаси, Сан-дреи абџьар иашьҭаланы Гәдоуҭаҟа ицаны иҟан.

Аҟәарашаа ргәыԥ ҩаха-ҩымш еилшәарак рыма-ӡамкәа аштаб аҿы ирзыԥшын абџьар анбаҳзааргои ҳәа.

Ус ишыԥшыз Тҟәарчалнтәи дааит дкылҟьа аима-даҩ, ргәы иамыхәашаз ажәабжь иманы. Мхедри-онаа уаха ианааилашәшәлак Абаажә ахәы агара-зы рҽазыҟаҵара иаҿуп ҳәа реиҳәеит. Уахатәиала Тҟәарчалтәи аибашьцәа акгьы ишырмыхәо, урҭ аҽа хырхарҭак ахь ицаны, аӷа иҿагыланы аибашьра ишаҿу. Уаха дара рымчала, Абаажә ахәы аӷа имҭакәа ирзаанкылар, уаҵәы ашьыжьымҭан Тҟәарчалаа шрыхьӡо.

Ари ажәабжь иаразнак ақыҭа ахи аҵыхәеи иахьӡеит. Ҳәсеи хацәеи рыҩнқәа кажьны еиханы аштабахь иааит игәы ҭҟьаԥсыҭҟьаха. Аштаб ахьыҟаз ақыҭсовет аҟны акәын.

Мышқәак раԥхьа ауаҩра зцәыӡхьаз ақыҭа изладырԥшыз арыцҳара рыбла ихымҵӡацызт. Иаҳзырухьоу азмырхакәа, еиҭах ихынҳәны Абаажә ахәы иқәгыланы иҳалахысуа ианалага… Уаантәи ҳқыҭа рнапсыргәыҵа ианушәа ирбарҭоуп. Зынӡа иҳалгоит, ҳшәаџь зҳәо даанрыжьуам ҳәа агәкажьга аҳәара иалагаз ҟалеит.

– Шәымшәан, ишыдыдуа еиԥш ақәа леиуам рҳәоит, – Ҟанчобеи ргәы арыӷәӷәара далагеит. Аҟәарашаа уаҩы изынкыломызт, – Сафарбеии Алиа-си абџьар ҳзааргоит, нас ҳара ҳзакәу дҳарбап. Абаажә ахәы ршьа ықәҳаршып, – ҳәа рыԥсахы еиҟәыҷҷо, аҟыҿыҳәа ргәы еицҳауа ишыԥшыз, шьыбжьышьҭахь ҟалахьан еиԥш, баша ҳааит, автомат заҵәыкгьы ҳмоуит ҳәа иааԥса-икара иаакылсит ахҩыкгьы.

Page 44: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

44

Ас еиԥш анраҳа, рызегьы цәгьала еиҵанарӷәӷәеит. Иҟарҵара рзымдыруа еилахеит. 74-ҩык рахьтәи 22-ҩык ракәын ашәақьқәа змаз. Ҳара ҳцоит урҭ рабашь-ра ҳәа игылеит.

Анацәақәак ирзымчҳакәа рыҷкәынцәа ирылаҳә -ны иркит. Ҳала ишабо ӡра-ԥсра шәҳаздәықәҵом ҳәа. Аха аҷкәынцәа, зыгәқәа гәаӷла иҭәыз, ранацәа ирҳәо раҳауа иҟамлеит. Ахәлара ааигәахо ианалага, ҳхы ақәҵатәыс иҳаургьы, Абаажә ахәы раҳҭом ҳәа идәықәлеит 74-ҩык рахьантәи 22-ҩык ашәақь змаз. Урҭ андәықәла, абџьар зкымызгьы рышьҭалеит.

– Шәаангыл! Шәца ҳәа адҵа шәызҭада? – ҳәа ҿааиҭит Сафарбеи. Ибжьы ҿацаӡа иааҭирҟьеит. Акы иааннамкыло акәын ргәы шны ишцоз, аха Сафар-беи ибжьы рызегьы ааннакылт. – Аӷацәа бзарбзанла иҳабашьырц иаауеит. Ҳара 22 шәақь кны ҳарԥылар иаҳзаанкылома? Ианамуӡа, ҳазегьы акака ҳкындаз… Ахәлара аҟынӡа аамҭа маҷк ҳзаанхоит, уи иалагӡаны сшәыҳәоит, –еизаны игылаз рышҟа ихы наирхан, – зыҩны ашәақь змоу ҳәа аӡәыр шәыҟазар, шәласны, шәцаны иаҳзаажәгароуп, ҳаҷкәынцәа шәақьда ахы иаҿацаланы иҭаҳархома, – иҳәеит Сафарбеи.

– Ҳқыҭаҿы 22 шәақь ахьаанхаз уамашәа из-боит, Сафарбеи, иухашҭыма аибашьра аҟалара мызқәак шагыз амилициа аусзуҩцәа ааҳалалан, Қырҭтәыла аиҳабыра ақәҵара рыдыркылеит, абџьар ауаа рнапаҿы ааныжьра закәаным ҳәа. Иааҳамхны иргеит. Абри алагьы иумдыруеи урҭ аибашьра рҽазыҟаҵара ишаҿыз, – иҳәеит Ҟанчобеи.

– Ҳара ара ҳгыланы ҳахьынӡеицажәо, дара ҩеины Абаажә ахәада ааныркылоит, ашәақь зку азин ҳаҭа, – ҳәа Сафарбеи икәшаны игылеит. Ҳаумышьҭыр ҳхала ҳцоит ҳәа рыблақәа амца рыхҟьа ицо.

– Шәара шәхәыҷқәоуп, иабыкәу шәахьцо, шәаҳ-цәыр шьуеит, шәҳашьҭуам, – рҳәан, анацәа рхәыҷқәа ирхьынҳаланы иркит.

Page 45: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

45

Абацәагьы, ҳара ҳхацәоуп ҳәа, адәахьала иҳан-ҳар ԥшуам ҳәа иаҿын, аха ҩныҵҟала ибылуан… Аҽакалагьы, иацы ихәыҷқәоуп ҳәа изхәаԥшуаз, иахьа ирбахьоу ракәӡамшәа, хацәаҵас рҽыҟаҵаны, ҳаӷацәа ҳрабашьуеит ҳәа иахьгылаз агәахәара рнаҭеит. Рых-шара рыԥсадгьыл абзиабара шрымаз днарбеит. Агәрагьы днаргеит, ҳара ҳаныҟамгьы арҭ Аԥсны еиқәдырхо иҟалозаап ҳәа. Аха ус ега иҟазаргьы, агәырҩа рызнарҵысит, макьана ихәыҷқәоуп, акә-ҷышьҵәҟьагьы ахәда хырымҵәац, ауаҩра зцәыӡхьоу агыгшәыгқәа ирҿагыланы еибашьтәыс ироуит ҳәа.

Иҟалаша здыруадаз, уи ауха, ианааилашәшәуаз аамҭазы, иавтомат кны, агранатқәа акымкәа-ҩбамкәа ирыԥхны ихәда иахшьны, Абаажә ахәы ашҟа ҳцоит ҳәа иандәықәлоз аамҭазы Шьаруан иа-ара иақәымшәазҭгьы. Аԥхьа аӡәгьы дизымдырӡеит. Жәашықәса ҵуан дрымбеижьҭеи. Иҿы анааихих, иааиҿшәаз ажәала зегь раԥхьа Сафарбеии Алиаси роуп дыздырыз. – Шьаруан иоуп, анцәа даҳзааигеит, иику жәбома? Зегьы ҳгәаҟуа ҳзышьҭаз ҳзааигеит, – иҳәан, дгәыдкыланы, иавтомат ааимхны, дҩаханы зегьы инадирбеит. Рызегьы шанханы иахәаԥшуан, афильмқәа рҿы ада изымбацыз рацәаҩын.

– Анцәа даҳзааигеит, Шьаруан иавтомат ала ҳаӷацәа даарылалар, рыхәҵәы ықәихуеит.

– Аха иаби иани имбакәа аибашьра дцап ҳәа шәы-ҟоума?

– Гәыбӷансгьы иаҳҭозеи, жәашықәса ҵуеит иҭаацәа имбеижьҭеи… – ҳәа еибыҳәо игылан зыҷ-кәынцәа уаха Абаажә ахәы ахьчаразы ицараны иҟаз рабацәа.

Шьаруан дахьааиз аҭагылазаашьа шыҟаз аниба, дахьцара изымдыруа дгылан.

Сафарбеи гәыԥҩык аҷкәынцәа аарылиган, «Ԥхьаҟа арԥарцәа» ҳәа, командаҟаҵаҩык иаҳасабала, ибжьы

Page 46: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

46

ҵарыхәҵәаӡа ианаага, иалихқәаз алҵны иаагылт. Саргьы аӡәы ҳәа сахышәыԥхьаӡал иҳәан, Шьаруан днеины даарылагылеит.

Анацәа, зыҷкәынцәа ирыхӡыӡаауа игылаз, Шьа-руан иавтомат кны раԥхьа дангыла ргәы аҽакала иҟалеит. Зегьы зықәгәыӷуаз Шьаруан иавтомат акәын. Ргәы иҵаххыз Сафарбеи иарҳәарц ирҭахыз, мҳәаӡакәа рышьҭахьҟа ихынҳәит, Шьаруан абас аныҟаиҵа ашьҭахь.

Ирықәныҳәаны, инаскьаганы иаахынҳәын, рыҩн қәа рахь имцаӡакәа, ҳәсагьы хацәагьы ааины, аш таб аԥхьа иааилагылт, ҳаҷкәынцәа гьежьаанӡа ҳгылазаауеит ҳәа.

Абаажә ахәы аҟынӡа километраки бжаки бжьан. Ианбаҩеиуеи, ианбеиларҵои ҳәа рызегьы Абаажә ахәахьы рлымҳа кыдын. Иҳаҳарызеишь ҳәа ҿымҭӡакәа ргәы иҭахәыцуан.

Иҟаларызеишь ҳәа агәҭыха уманы ҿымҭӡакәа аԥшра еицәоу егьыҟаӡам. Аӡәы акы иҳәо, аҽаӡәы аҽакы иҳәо цәажәарала иухумгозар, аҿымҭра ахгара цәгьоуп.

– Иҟоу шәасҳәап, дадраа. Шәҿымҭра саҳауеит, изызкугьы здыруеит. Акгьы шәацәымшәан, – абас дналагеит ргәы рхасыршҭуеит ҳәа, «Анцәа иныҳәара ацәашьы зкыз», қәрала зегьы иреиҳабыз Данаҟаи. Ахәыцрақәа излаз иаарылҵын, изыӡырҩуа иаа-гылт. – Дадраа, иҟоу уи ауп, Абаажә ахәы иԥшьоу ҭыԥуп. Амч амоуп. Шықәсык ахь знык аҿамаҿа аныҟало амзазы, ҳаизаны имҵаныҳәара, Иара игәаԥхарала, ҳақәиҭхеит. Абраҟа ҳшьамхнышгылан ҳиҳәон: «Уааԥсырала ҳӷарумтәын. Иаҳфо иаажәуа ҳахумбаан. Арыцҳахәы ҳаҳәо ҳҟаумҵан. Амашәыр ҳацәыхьча. Арыцҳара ҳзааумган. Ҳара аӡәы итәы ҳашьҭам. Ҳара ҳтәы иашьҭало иумырган». Аҳәара иҟаҳҵоз иара иҟынӡа инаӡон. Илаԥш ҳхуп. Ҳахьчоит

Page 47: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

47

иахьагьы. Ҳахьчоит анысҳәа, ажәытәӡа ҳбаажә ахәаҿы иҟалеит ҳәа сабацәа ирҳәоны исаҳахьоу шәасҳәоит. Уи даара иџьашәшьаратәы иҟоуп. Анцәа ныҳәара уаҵәы иҟарҵараны уахеиԥш, адыдмацәыс уаҩ иимбац ҟалазаап. Ауаа агәыҭҟьара иаго аҟынӡа иаршәазаап. Имыцәаӡакәа, еибарӡыӡо идыршаза-ап. Шьыжьымҭанынӡа иааҟәымҵӡакәа идыдуазаа-рын. Ианша еиқәтәазаап. Ажәҩан аҽыхнатын, ам-рагьы ааԥшызаап. Иаха ҳиршәан анцәа, аха иахьа амш бзиа ҳаиҭеит рҳәан, хәыҷла-дула руаса хәыҷы раԥхьа иргыланы рныҳәарҭаҿы иахьнеиз аума рба-заап. Абаажә аԥхьа игылаз, шықәсырацәа зхыҵуаз араҵла дуӡӡа афы асзаап, иҵыҩрны икажьын. Аныҳәараз иҩеиз ари еиԥш анырба, ирцәымыӷхеит. Ауха адунеи аазырҳәуаз адыдмацәыс џьара ӷәӷәала имыкшакәа ишаанымгылоз рдыруан, аха иԥшьоу ҭыԥуп ҳәа рабацәа, рабдуцәа жәытәнатә аахыс иалх-ны ирымаз ахәы ԥшӡа афы ықәсуеит ҳәа иҟамызт. Идырны цәгьарак ахаан аӡәгьы изыҟаҳамҵацызт. Иаҳзымдыруа ҳаҭоумҵан ҳәа ҳиашьапкуан. Ҳзиҭахымхазеи, злыԥха ҳауша. Издыруада, ҳабацәа аӡәыр гәнаҳарак ҟаиҵахьазҭгьы, уи акәзар ҳзыхирҟьо? Иԥшьоу аҭыԥ ахь уаҳа шәхабар сышәмырбан ҳәа акәзар изаҳхадыдуа, изаҳхамацәысуа ҳәа ишәаны рышьҭахьҟа ихынҳәырц ианалага, – Шәаангыл, шәымцан, арахь шәхынҳәы. Ҳара анцәа ҳаиҭахым ҳәа шәазҳәада? Уи ҳара ҳаиҭахуп. Цәгьамзар бзиа ҟазымҵо, иҳәазо адәы иқәу роуп ицәымӷу. Шәааскьа арахь! Ацәгьара ҳзызурц иҳәазо иҳашьҭаз амыждахә ахькажьу шәсырбоит, иҳәазаап аныҳәаҩ.

Иреиҳәаз раҳан, ихынҳәит. Араҵла ианазааигәаха абла мбатәы рбеит, гәылшьапымзар уи иаҟараз амаҭ рымбацызт, ишьны ара ашьапаҿы еиҵҳәа икажьзаарын. Уажәы аџьҵла ахьгылоу аҭыԥ аҟны акәзаарын уи араҵла ахьгылаз. Ҩыџьа ауаа

Page 48: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

48

наӡақәа рнапқәа еибадыркыр иакәымшо аҟынӡа ишәпазаарын. Аныҳәараан ахәыҷқәа аныхәмаруаз иҭаланы рҽырҵәахуазаарын, «џьит» аныҟарҵоз. Уи аҽынгьы рхәыҷқәеи дареи еибаргәырӷьо ныҳәара ҳәа иахьҩеиз, ари еиԥш аума анырба рцәа-ржьы иҭанарӡыӡеит… Анцәа ҳихьчеит акәымзар, арыцҳара ду ҳзыҟалон. Ҳхәыҷқәа ҳахәмаруеит ҳәа уахь иҭамлар рурымызт… уаҟа ари «Шьашәы иҭарблыша» аҽхыршаны иҭатәазаарын. Ҳасабицәа ҳцәафон. Анацәа рхала рҽырзымшьуа иаанхон. Иара абна инылыҩры ицон.

Зхьышьаргәыҵа ҳакәыхшоу ихьчеит амаалықь-цәа ҳәа аҽны хәлаанӡа агәырӷьара ду рымазаа-рын. Шәымшәан ҳәа зшәасҳәазгьы баша аԥша исҿанамгалаӡеит, жәынгьы-ҿангьы ҳара Абаажә ахәы ҳахьчоит.

Аныҳәаҩ Данаҟаи ари ахҭыс анырзеиҭеиҳәа, ргәы ҟанаҵеит. Уаха урҭ ҳазшаз дшырхылаԥшуа, еибганы ишы лбаауа агәрагара рнаҭеит.

Анцәа дхазҵошәа, дхазымҵошәа иҟақәаз, ажәытә зны ак ҟалахьан ҳәа иажәа нымҵәаӡо иҳаиҳәо закәызеи, уи уажәы ҳара иабаҳҭаху, ҳаҷкәынцәа роуп ҳзыргәаҟуа, рхабар зыҟамлазеи абасҟаамҭа, рҳәан, аныҳәаҩ ииҳәаз џьоукы зынӡагьы ирыдмырҳаит.

Иҟоу аиаша ҳазҳәода, дара рхаҭақәа хынҳәаанӡа ҳәа абацәақәакгьы аҳәса ирҳәоз рыцырҳәо иалагеит.

– Ишәычҳа, шәхацәами, ҳаҷкәынцәа еиқәных ишыҟоу ақырҭцәа ианырба, урҭ шәаргәындақәоуп, еибарҩны ицазаргьы ҟалоит. Уиазы акәзаргьы ауеит хысбжьык зымгацгьы.

– Иуҳәогьы саҳауеит, аха сара аҽакы сацәшәоит. Ҳаҷкәынцәа раҵкыс дара урҭ иныбзақьша, ҵҩа змам ыҟазҭгьы, иаарыкәшаны икны, итҟәаны ирга-зар? Усҟан ҳара ҳхы абаажуеи?

Page 49: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

49

– Шәаала, ҳрабашьыроуп, рыхәҵәы ықәаҳхроуп ҳәа Сафарбеии Алиаси ирхьырԥшны иргеит ахәыҷқәа. – Шьоукы абас ицәыҵаҟәындҟәындуа иа-лагеит.

– Аҳәса шәара шәаҵкыс ахаҵара аадырԥшит. Ишәыхьзеи, уара, шәызлацәажәо закәызеи? – иҳәан, Ҟанчобеи ацәажәара иаҟәихит.

– Дара аанӡа иҳачҳароуп, ашәара ҳҽаҳҭарым, – иҳәеит ахҭырԥа рқьақьа зхаз хаҵа фархьк, Ҟанчобеи ииҳәаз дадгыло.

– Уара изумҳәозеи. Уҷкәыни уашьа иԥеи уаха иабаҟоу? Рыҩны итәами. Рҩызцәа, рықәлацәа ахьцоз ирыццазҭгьы уи еиԥш уҳәозҭгьы ҳамбарызи, – ҳәа хаҵакьаҿк иҽырцәгьан дааиҿагылан, исымҳәандаз иҳәо дааҟаиҵеит.

– Уара, иҟоу еилымкааӡакәа, абӷьыжәҳәа ацәа-жәара удыруеит. Аҭак уҭара аԥсам иҳәазар акәхап, акәымзар иухәҭаз уаҳәатәын. Уи иҷкәыни иа-шьа иԥеи аибашьра ианалагаз аахыс Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭа ҩны идәылымҵыц, ахәцәа рыхәшәтәра иаҿуп, – иҳәеит аӡә даарыбжьагылан.

Абас инибакыло иааиуан, аха, аҷкәынцәа амш ахәларахь ахы анархоз ицаз абар аҵх ашарахь еихо иа-лагеит, аха рхабар ыҟамызт. Ҟанчобеи изныкымкәа-иҩынтәымкәа анацәа дрыҳәеит, шәыҩнқәа рахь шәца. Шәырцәымшәан шәыҷкәынцәа, иҟалоит урҭ шьыбжьонынӡа изымааргьы ҳәа.

Аха уи иреиҳәаз ддырҳарцгьы рҭахымхеит, ишәа-ны игылан, хәыцра цәгьас иҟоу зегьы рхапапаны.

***– Знык исҳәахьеит, еиҭашәасҳәоит, ҳаҷкәынцәа

срыцәшәо салагеит. Абасҟак аамҭа рыбжьгьы ҳаҳауам, рхысбыжьгьы ҳаҳауам, – агәкажьҩы еиҭах ацәажәара далагеит.

Page 50: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

50

– Уара аԥхьа иануҳәаз удмырцәажәеит, аха уиа шазаргьы ҟалап. Ҳжьазар ҳәа сгәы иаана-гоит. Ҳаҷкәынцәа ажәыларахь рцамҭаз, акы шәацәымшәан, саргьы сшәыцуп шәара шәахьцо ҳәа днеины даарылагылеит, деиқәывтоматха, – ҳәа дналагеит аӡәы, ижәны дшыҟаз аҟара удырратәы, иқьышәи ибзи уажәы-уажәы иааихьшьуа.

– Уиала иуҳәарц иуҭахузеи? Шьаруан иавтомат ауп зегьы ҳзықәгәыӷуа. Данаҳҭахыҵәҟьаз анцәа даҳзааишьҭит, – иҳәеит Самсон.

– Анцәа дааишьҭу, ақырҭцәа даарышьҭу акрыжәдыруама? – иҳәеит уажәраанӡа ҿымҭӡо игы-лаз хаҵа аукы.

– Уара, иуцәажәашьоузеи, иуҳәо иаанаго удыруа-ма? – иҿы адыркырц егьаарыгымхеит.

– Шәиҟәаҵ! Ииҭаху ишәырҳәа, ак идырҵәҟьозар-гьы шәыздырам. Ари ус баша иҿы иааҭашәалак иҳәаӡом, – рҳәан, ԥыҭҩык икәшаны иаагылт.

– Аиаша шәасҳәоит, сара Шьаруан игәра сызгом. Шәазхәыц ишәасҳәо. Жәашықәса дуӡӡа ақырҭцәа дрылан. Дара ртәахьы диарымгацкәа дыҟоуп ҳәа шәгәы иаанагома. Сырцәыбналан сааит ҳәа ҳаи-ҳәеит… Уи ахаҵара цәгьоуп, абасҟак абџьар иманы бналашьас имааз, аӡәгьы димбаӡакәа, – иҳәеит уи ахаҵа ау. Уи ииҳәаз заҳаз ааигәа игылақәаз ираҳаз агәра ргарызу ирымгарызу рзымдыруа иаанхеит.

Абри еиԥш аҭагылазаашьа хьамҭақәа раан ажәа брык азхоит ауаа рымҩахҟьаразы.

– Шьаруан, иаб диԥазар, уи еиԥш ҟаиҵом, – иҳәеит Алиас иаб Чанҭа.

– Ишәҳәо агәра сызгом.– Ақырҭцәа мыждақәоуп, Шьаруан иеиԥшума,

ирҭа х хар Ельцингьы даархәоит. – Ахаҵа ау ииҳәац иҳәон.

Page 51: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

51

– Ельцин дықәынҵәеит, уи итәы абоуҭаху, Шьа-руан абасҵәҟьа ҳзиурызу?

Ҳаиҭизар ҟалап ҳәа џьоукы маӡала аибыҳәара иа-лагеит. Ажәамаӡа узыҵәахӡом ҳәа шырҳәо еиԥш, урҭ еибырҳәаз анацәа ираҳан, еиланагеит. Убас анааҳзиу, Шьаруан ҳәа шәызҿу, иангьы иабгьы рыҩны амца нацраҵаны иалаҳбылуеит ҳәа аҵҟьара иалагеит.

– Ус шәеиламлан, иҟам-иным шәымҳәан, уи аҷ-кәын ус еиԥш здышәкыло иакәӡам. Уаҳа уи еиԥш шәаламцәажәан. Агәнаҳара шәымҳәан. Ажәытә зны ак ҟалахьан ҳәа иҳаиҳәо ҳара иахьа иабаҳҭаху ҳәа сзызҳәақәазгьы шәызбеит. Ижәдыруазааит, ажәытә ыҟамызҭгьы, аҿатә зыҟалаӡомызт, ҳазшаз урҭ аҩбагьы еидҳәало иааигоит. Иахьа ҳаҷкәынцәа ҩеины иахьыҟоу Абаажә ахәаҿы усҟан ҳасабицәа анцәа иаҳзихьчеит, акәымзар амаҭ иаҳцәафон. Уи знык мацара акәӡам. Сара схаан уи аҵкыс еицәоугьы ҟалахьеит. Усҟангьы анцәа ҳаиқәирхеит. Ҟанчобеи, уи уаргьы саргьы ҳахаануп. Уара уҿала ироуҳәарц суҳәоит, иахьа уи абраҟа аҳәара даара ихәарҭоуп ҳәа исыԥхьаӡоит. Ҳара убас иҟоу цәгьара уаҩы изаҳмуӡацт. Анцәа ҳаибоит. Ацәгьара ҳзызурц згәы иҭакны, иԥшьоу ҳныҳәарҭаҿы иҩеиз аӡәгьы деибганы длымбааӡацт. Џьоукы сакасала илбаар-гоит, даҽа џьоукы рышьацәа хаххала илбаарго-ит, – иҳәан, аныҳәаҩ уаҳа егьацымҵакәа Ҟанчобеи ишҟа даахьаҳәит, шьҭанахыстәи иара далацәажәарц шиҭахыз аанарго.

Аныҳәаҩ ииҳәаз аинтерес днаркын, зыц еилаханы ацәажәара изҿыз иааҟәыҵын, Ҟанчобеи изыӡырҩра иалагеит.

– Аныҳәаҩ ахаан мыц имҳәаӡацт. Ишәеиҳәаз зе-гьы иашоуп. Уи саргьы сахаануп. Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан ауп ианыҟалаз уи ахҭыс. Сара усҟан зеижә шықәса ракәын исхыҵуаз.

Page 52: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

52

Аҽны амш каххаа иҟан. Ауха мыш цәгьа бааԥсык ҟалоит ҳәа аӡәгьы ргәы иаанагаӡомызт, аха ианааилахәлоз аамҭазы уаҩы ишимбац ала амш цәгьахеит, адыдмацәыс ҟалеит. Анкьа зны Абаажә ахәаҿы иҟалахьеит ҳәа ззырҳәо аҵкыс еицәаны. Адунеи арҵысуан, ҳшәеит. Саб аибашьрахь дыҟан. Сани сареи ҳхала ҳакәын иҟаз. Ҳаҩны иасуазшәа, ишьҭыхны иагозшәа абжьы аныцәгьаха, сан ацәар-даӷәы уҵаланы уҽыҵәах ҳәа даасысны сылкит. Абыржәымзар-абыржәы ҳаҩны иасны иԥыххаа иагарашәа, иааигәаны адыдрабжьы ҳаҳауан. Ҵхыб-жьон еиқәтәеит.

Ҳгәылацәагьы лацәеихьшь рзыҟамҵазаап, сани сареи ҳаиԥш, афы рысыр ҳәа ишшәоз идыршазаап.

Ианша, шәеиқәхама, шәеибгоума, шәыҩнқәа, шәара ҳәа агәылацәа еиқәҿырҭуан.

– Ҳаибгоуп. Анцәа ҳихьчеит! – Иахатәи аҵх бааԥсы ҳалеимырӡит, – ҳәа еибыр-

ҳәон. Иахатәи аҵх адыдмацәыс злаҟаз ала, ҳара анцәа ҳаиқәирхеит, аха ҳааигәара џьара ӷәӷәала имыкшакәа иҟам… иабаҟалеишь анаџьалбеит, ҳәа зегьы злацәажәоз уи акәын акыраамҭа.

Усҟан абри исывагылоу ахаҵа Мачагәа дыԥшқан, агара дгаран. Иареи сареи ҳаигәылацәоуп, ҩны ҳабжьагылаӡам, ижәдыруа иоуп.

– Шьҭа издырит иуҳәарц иуҭаху, сабду синыҳәарц ӡаагара данцаз дзықәшәаз атәы ами, – иҳәеит Мачагәа, Ҟанчобеи ицәажәара днаԥыххылан, ихы ахаан хәыц ықәмиааӡацызшәа ицырцыруа.

– Уи ауп ирасҳәарц исҭаху, – иҳәеит Ҟанчобеи. Ауаа иҟаларызешь ҳәа игәжәажәо игылаз аамҭа дсыргоит ҳәа даҿын.

Мачагәа иабду мчыбжьык аԥхьа аҿаҭахьа иқәиҵахьан, иааиуа амҽышаҽны, ашарԥазы дҩа-гылан дцаны, зегьы раҵкыс ицқьоуп ҳәа ирыԥхьаӡоз

Page 53: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

53

аӡхьамԥш ааганы, агара игарымҵыцыз имаҭа Мачагәа диныҳәарц. Асаби иан лгәыԥҳәыхшда аҽакы зымбацыз, агара дгарҵаанӡа, аӡашәа иузҳааит ҳәа дныҳәаны аӡы агьама идырбон. Аӡы ахьынтәиааугалакгьы, ишааугалакгьы ҟалаӡомызт, иказказуа ицқьазар акәын «Аӡыхь шыцәоу» зегь раԥхьа днеины, иҭтаны иааигар акәын. (Аӡыхь аӡәы иҭганы игаанӡа ицәоуп ҳәа ирыԥхьаӡон). Ианҭигалак ашьҭахь, шьҭахьҟа дхьамԥшӡакәа иааигар акәын. Аӡхьамԥш ҳәа изашьҭазгьы уи азы акәын.

Мачагәа иабду аӡхьамԥш аагара уаҵәы дцараны уахеиԥш, амш мҟәыл ззырҳәоз ҟалеит. Адыдмацәыс ахәылбыҽха иалагаз адунеи аанарҳәырц ақәна-кызшәа, иааҟәымҵит. Абду ицәымӷхеит, ӡаагара дзымцар ҳәа дацәшәеит. Амш иқәиҵахьаз ахырԥара ҵасым ҳәа ишьон. Аха ашамҭаз еилгеит. Амш бзи-ахеит. Абду дгәырӷьаҵәа, игәыгәым аашьҭыхны, зегь раԥхьа снеины иаазгоит аӡхьамԥш ҳәа, Абаажә ахәаҿы дахьҩеиз (зегь раҵкыс ицқьоу рныҳәарҭаҿы акәын иахьыҟаз), ҳаӷоу иибаша ибеит. Анкьа афы зысны иҵыҩрны икаҳахьаз араҵла аҭыԥанҵәҟьа игылаз аџьҵла, уигьы шәышықәса иреиҵамызт, амҵан ԥшьҩык арацәаххыреиԥш еиқәаҵәа-еиқәаҵәаӡа ибыл ны ишьҭан.

Акаамеҭ ҟалеит ҳәа ахәы дықәгыланы аҿыҭра даналага, ҵаҟа инхоз ибжьы раҳан, еибарыҩны ихалеит. Ишынарҿаԥшыз еиԥш ирдырит иахьатәи адыдмацәыс ишаркьаҭаз (ишашьыз).

Изусҭцәаз рзымдырит. Иудырратәгьы иҟамызт, аха рқыҭа еиуаз шракәмыз рбеит. Аусҳәарҭахь адыр-ра рырҭан, ақыҭа аиҳабыра ааит.

Инадырҳәит, иаадырҳәит, аха урҭгьы изусҭцәаз рзеилымкааит.

Рхаҭақәа хыблаа-ҿыблааны иҟан, аха иршәыз рымаҭәақәа еибган. Рџьыбақәа анеимырда, изусҭцәаз

Page 54: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

54

атәы зҳәоз ақьаадқәа кьыс рымаӡамкәа иҭыргеит. Аԥшьҩыкгьы десантцәан. Ҩыџьа немеццәан, егьырҭ аҩыџьа қырҭцәан. Анемеццәа, Гитлер хаҭала хада-ра ззиуаз, ашьажәцәа рыр Вермахт ҳәа изышьҭаз иреи уан. Ақырҭцәа чарҳәара уны, афашистцәа рахь ииасны зџьынџьтәыла иаҿагыланы еибашьуаз, де-классированныи елементқәа ҳәа иԥхьаӡоу, Геббельс идҵақәа назыгӡоз ақырҭуа легион иахыԥхьаӡалаз ракәын.

Излеилкаахаз ала, урҭ уахынланы парашиутла Кәыдры аԥшаҳәаҿы идыртәеит. Аҭыԥантәи қырҭуаки дареи еимадарак шрымаз ҩашьаӡомызт, акәымзар рхала Абаажә ахәы изхаломызт. Мҩахәасҭа заҵәык акәын иамаз. Егьирахьҟа иаакәыршаны цаҟьаран, халашьа амаӡам.

Иҩеины ианырба, дара зышьҭаз уи еиԥш иҟаз аҭыԥ акәын, иргәаԥхеит. Ишаашаз еиԥш аусу-ра иалагеит. Ихазгалаз имдыруаз аҭыԥантәи ауаа, шықәсыкахь знык аныҳәара анрымоу ада уаҩ дыш-хамлоз, шамахамзар.

Ахәы ҳаракы иқәгыланы инаԥшы-ааԥшын, изышь ҭаз аобиектқәа – Кәыдры ацҳаи Аҟәеи Очам-чыреи ирыбжьаз аихамҩеи рбеит. Арҭ аҩбагьы рыԥ-жәа разы рыдҵа нарыгӡар акәын.

Аихамҩеи ацҳаи раамышьҭахь, «истребитель-ныи баталион» еиҿкааны измаз аԥсуа қыҭақәа рҽырҩашьаны, ирылаланы ацәгьарақәа ҟарҵо иана-лага, зықәрахь инеихьаз, аибашьрахь ацара злымшоз ааидгылан, адесантцәа ирҿагыланы рабашьра иала-геит. «Истребительныи баталион» ҳәа изашьҭазгьы уи азы акәын. Қыҭацыԥхьаӡа есымза адесантцәа хҩык-ԥшьҩык рҟынӡа ҭадырхон.

Адесантцәа, абаталион змоу ақыҭақәа ықәхтәуп ҳәа рқьаад аҿы иарбаны ирымаз, Аҟәарашгьы ҳқыҭа рыгәҭа игылан. Ианԥыржәаша, иахьԥыржәаша, ир-

Page 55: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

55

блыша, ианырблыша, иарбан аамҭоу, зегьы арбан. Урҭ зегьы акгьы рмыхьӡакәа аџь ашьапаҿы ишьҭан. Иҟарҵашаз зегьы ақьаад аҿы еиқәыршәа ны ианал-га, уаҵә шьыжьымҭанынӡа аамҭа рыман, қьафла ирхыргеит. Ирфеит, иржәит. Иаарыкәыршаны ика-жьыз афатә зҭаз абанкақәеи, арыжәтә зҭаз абаҭ-лыкақәеи урыхҟьашаны укаҳауан, узырхысуамызт. Аныҳәарақәа раан рхәы шьҭаҵаны иахьырфоз аџь амҵа, быбыцк ахькадмыршәуаз рҟьашьит, угәы хынҳәуан икажьқәаз ахьубоз. Аӡыхь цқьа акәа-пеиҵәҟьа мыӡәӡәакәа иахьҭырымшьуаз, рнап қәа, ршьапқәа ҭарыӡәӡәазар акәхап, ацыӡәӡәарах хта-тала иҟан. Ажәакала, амш аларгеит, рыҽԥыржәеит. Итҟәацит. Иԥшьоу ҳхәы ԥшӡа ахаан иамбацыз адыр-беит. Уаҳа нарылымшо ианыржә-ианырфа, аҳәақәа реиԥш игәыгәны аџь амҵан ицәеит. Уаҳагьы имааԥшӡеит. Ауха иҟалаз адыдмацәыс дара рзыҳәан акәзаарын… Изымааԥшуа ишьҭанаҵеит.

Адунеи зегьы лакәуп ҳәа ззырҳәо зны-зынла ауаҩы ихаҿы изаамго ахҭысқәа аныҟалақәо рзы акәхап. Афы зысыз аџь ауп. Ус ауп уи шаады-руа, аԥхьа аҵла иаахоит. Уахьынтәи ауп икшаны аԥсыцқьа зхам ишрысуа.

Амаҭ анашьуаз, изҭатәаз араҵлагьы иас-ны, иҵырҩырны иканажьит. Аџьҵла иаӡывасит, иканамыжьӡеит. Нацәа ҭыԥк иаҟарамкәа ацәҟьарсҭа азааннажьит. Абри схаҭа исымбакәа аӡәы исеиҳәар агәрагара сзыцәгьахон. Анкьа зны асабицәа зфарц иҳәазо иҩеиз амаҭ еиқәаҵәасымсым, ахы ԥҽны, абӷа ԥҵәаны иахьышьҭаз аҭыԥ аҟныҵәҟьа, рышьацәа хаххала, иԥсны икажьын уаҵәы иаашар ҳқыҭа амцахә дырцәарц иҩеиз афашистцәа. Аџь ахьгылац игылан иџарџаруа. Ари иаанагозеи? Шәазхәыци? Ҳара уаа қьиақәоуп, аӡәы итәы ҳашьҭам. Ахәыҷы маҷаҳшьом. Аду рацәаҳшьом. Ихәыҷы иду ҳара

Page 56: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

56

ҳтәы ҳара ҳныҟәнагоит. Ҳтәы ҳамазкуа аханатә аа-хысгьы цәгьамзар бзиак алимгац. Ҳзакәу анцәа ибоит. Даҳзыразуп. Ҳихьчоит. Абри аҟара сзырҳәаз ахәылбыҽха хыхь ицаны иҟоу ҳаҷкәынцәа роуп. Избоит анацәеи абацәеи ашәара ду шшәымоу. Шәымшәан. Ҳара анцәа дҳамоуп, урҭ уахагьы иаҳзихьчоит, – иҳәеит.

Ҟанчобеи дахьынӡацәажәоз аӡә диԥырхагамхеит. Рхы-ргәы рхаршҭны изыӡырҩуан. Ацәажәара да-налга ашьҭахь, анацәа уахатәи аҵх ҳаҷкәынцәа алоумырӡын ҳәа, анцәа дхазҵозгьы дхазымҵозгьы иҳәара иалагеит.

Сафарбеии Алиаси ргәыԥ рыманы ихалаанӡа аӷацәа ҩеины Абаажә ахәы ааныркылахьан, сааҭк ауп ирыбжьахаз. Аидысларақәа раан зны-зынла сааҭк акәым, сааҭыбжак аназхогьы ҟалон аиааи-ра агаразы. Агәыԥ Абаажә ашьапаҟынӡа ианне-из, аӷацәа рхырӷәӷәарҭақәа ҟаҵаны, аибашьра рҽазыҟарҵахьан. Ҵаҟантәи мҩахәасҭала аха лара даара ишәарҭан. Амза аҭәымҭазы акәын, икаҷҷо ианыԥхалон, агәырҵәҟьа каршәзар иубон. Наҟтәи аганахь ала ахәы ихыҵны иҭалаанӡа амҩахәасҭа анылашьа рымаӡамызт.

Рызегьы рыԥсы ӡаны амзахь иԥшуан, амҩа анбаҳ-наҭои ҳәа. Уаныццакуа аамҭа мцаӡошәа ауп ишубо. Убасҵәҟьа акәын усҟан амза аныҟәара иаҟәыҵны иаангылазшәа шырбоз аҷкәынцәа…

– Баша ҳаԥшуп амза ҭашәаанӡа ҳәа, уи аҭәымҭазы иҭашәаӡом. Амра гыланы иаԥылаанӡа, – иҳәеит Сандра.

– Амра гыланы, алашара ҳақәыҷҷа халашьа ҳама ӡам. Абаажә анхыҵҟа амза ааиасаанӡа ҳцаны уахьынтәи ала ҳалагароуп, уаҳа аҽа мҩак ҳамаӡам. Урҭ афашистцәа ҳбаажә ахәы ишаанӡа ианаанха ҳқыҭақәа рықәхра иалагоит. Шәсышьҭал, – иҳәан Са-

Page 57: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

57

фарбеи, раԥхьа дгыланы аганахь ииасит. Уаҵаԥшыр ублахаҵ гьежьуан, убасҟак иҳаракын. Халашьа ша-мамыз анырба (асҵәҟьа ишыцәгьаз ззымдыруаз рацәаҩын), иҟарҵара рзымдыруа еилахеит.

– Ҳхалароуп. Иқәаҳцароуп. Ҳажәлар еиқәҳарха-роуп. Халашьас иҟаҳҵарызеи? – Сафарбеи ихы Сандра иқәкны ҿааиҭит. Сандра дзалихыз шьхас дахьымцацыз ыҟамызт, шьхауаҩын, – цаҟьас дызҿымсыцыз ҳәа иҟааз?

– Ҳхалоит, – иҳәеит, Сандра лакҩакрак ҟамҵаӡакәа.

– Изла? – рҳәеит агәра рзымго.– Иаҿазза иаҿагылоу жәбома? Урҭ ҳхаргалоит, –

иҳәеит.– Анҭ ачықьқәа роума ҳхазгало, иаанукылаанӡа

ишыҵшәара игылоу?! – рҳәеит.– Урҭ кьачамачашәа ижәбоит, аха урҭ ацаҟьа иа-

лиааит. Ара ҵаҟа ҳазвагылоу аӡбаара иҭиааз аҵла дуқәа раҵкыс иӷәӷәоуп.

– Амыцхә ҳцәажәацәоит. Уажәа ркьаҿ. Ҳазла-халаша ҳарба, – иҳәеит Сафарбеи, уажәы-уажәы исааҭ дахәаԥшуа.

– Зегьы рҵыхәан ацаҟьа иаҿагылоу аҵла аҟынӡа сҩаӡаны исзаанкылар, шәызегьы шәҩеит ҳәа шәыԥ-хьаӡа. Уи ахьынтәи аҽакы снахьынҳало хыхьӡа сҩеир, ари амаҟа исымӷоу жәбома? – зеиԥш ҟамло егьыҟам ҳәа икәыршаны имаз ашаха ааԥыртланы ихәда иахшьуа, – арҭ афашистцәа аӡәы дсызкыр далаҿасҳәап ҳәа амҩа ҳанықәлоз ишьҭысхит. Хыхь санхалалак ҵлак ашьапы иадҳәаланы, аҵыхәа шәзыласышьҭуеит шәалахаларазы, шәаҳама ишәас-ҳәаз, – иҳәан, днаҵагылан, ҵәҩанҵәы дыԥеит, аха иамуит. Деиҭаԥеит, акырынтә иҽишәеит, аха дзымҩаӡеит. Уи ишьҭахь аӡәаӡәала зыҽԥызымшәаз даанымхеит, аха иамуит. Адгьыл аҟынтәи х-метрак

Page 58: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

58

иҳаракын. Ахак ҟаҵаны икыдаҳмыргылакәа халашьа амаӡам ҳәа аилагьежьра ианалага, – сара исышәҭ ашаха… Сара схалоит, – иҳәеит, дхәыҷуп ҳәа абџьар аагара Гәдоуҭаҟа ианцоз ирымгаз, арахь ианаауазгьы иаарымгаз, ажәабатәи акласс аҟны итәаз Асҭамыр. Ашаха аарымхны ацаҟьа дааҵаххын, ашьабсҭа еиԥш дласӡа, деиҵас дууааӡа дыԥан, дҩаӡаны аҵла амахә иҽаларԥсны икит. Нас, аеш еиԥш дыԥаны уантәи аҽа ҵлак дахьынҳало, дкаҳар дԥыххаа дцоит ҳәа ишәаны ишиҵагылаз, аханынӡа дхалан, ашаха аҵыхәа рзылаишьҭит. Аӡәаӡәала ихало, рызегьы халеит.

Мхедрионаа зынӡа рыгәгьы иаанагаӡомызт, амҩахәасҭала акәымзар, ацаҟьала аӡә дхалоит (ианхалоз ирбахьан), ауаҩ иакәым, ацгәыҵәҟьа алагаргьы ишызхамлоз, уахьала ргәы рҭынчны, рабџьарқәа амҩахәасҭахь рхы рханы, иаашар ақыҭақәа аабылуеит ҳәа ишыԥшыз, адыд-мацәыс рылалазшәа агранатақәа (Шьаруан итәқәа) акымкәа-ҩбамкәа инеиқәырццакны ианрыладыртҟәац, абӷьыжә еизганы иахьышьҭоу аԥшатлакә анаҵаслак еидыҳәҳәалан ишаго еиԥш, рызегь еимнарбӷьыжәааит. Бжеиҳа раҩык рабџьар кажь-ны рыԥсы рзеиқәырхозар ҳәа ахыԥсҭа рҽарҭеит. Ҳаибашьуеит ҳәа иаангылазгьы хыԥхьаӡарала акырӡа еиҳан. Ишәаны ахыԥсҭа зҽазҭаз рабџьар кажьны имцазҭгьы, ирыхьуаз рдыруан. Абџьар акәын гәаҟрас иҟаз. Автомат заҵәык акәын ирымаз. Егьырҭ шәақьқәан. Иара ашәақьҵәҟьа зкымызгьы ыҟан. Анцәа ианрымԥыхьаиршәа, автоматк-авто-матк зегьы ишьҭырхит. Зегь раԥхьа ишьҭызԥааз, аҩыга калам ада шәақь захьӡу аанызымкылацыз Асҭамыр иоуп. Раԥхьаӡакәны уи аҽны автоматла аӷа диеихсит иацтәи ахәыҷы.

Аибашьра ӷәӷәаҵәҟьа ҟалеит Абаажә ахәы агара-зы.

Page 59: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

59

Шьыбжьышьҭахьынӡа зны-зынла иааихсыӷьлон, акәы мзар аиҿахысра шцац ицон.

Иацуха аахыс аусҳәарҭа ашҭаҿы игылаз анацәа аӡыҵәҟьа рыхәда илбаауамызт. Агәыҭҟьа иаганы, иҟаларызеишь ҳәа иԥшын. Хысыбжьык гацыԥхьаӡа рыгәқәа ҭыԥсаауан, баҩы-баҩы еиҿышәшәо ица-рашәа иааҟалон. Шьыбжьышьҭахьынӡа хшаҭарак ҟамҵаӡакәа аӷа иҿагы ланы еибашьит. Аӷацәа да-ара рыҽдырӷәӷәеит Абаажә ахәы аԥсуаа ираҳҭом ҳәа. Аха аҵыхәтәаны ирыкәшо ианалага, егьшры-лымшоз рбан, амҩахәасҭахь ала зыԥсы згаз ҟалеит. Ирацәаҩынгьы абахә ихықәцаланы иршьуа ианала-га, рыла алашара ацәыӡны иҟамзи, иԥеит. Аӡәык-ҩыџьак рыда зегьы нҭанҵәа ицеит.

Абас фырхаҵарыла аӷацәа Абаажә ахәы иқәырцеит. Фҩык аҷкәынцәа рхәит. Анцәа имҭаны ԥсыҭбарак ҟамлеит. Аӷацәа хәҩык ҭахеит. Абахә аҟынтәи иԥаз аламҵакәа. Ахәцәа шьҭыхны ҳалбаауеит ҳәа ианалагоз аамҭазы, аӷацәа ҩаԥхьа Абаажә ахәы аагоит ҳәа ҵаҟа аҽеибыҭара ишаҿыз рбеит. Икажьны ицаз абзарбзанҭырҟьагақәа (иаҵаланы ихаргалоз) аарҳәны дара рышҟа ахы рханы, аҵхарада ус амамкәа ихианы игылаз, рыжәырҵеит. Уинахыс иныҵабазшәа ицеит. Ахәцәа рыманы ахықә аҟынӡа иааихьан еиԥш, ҩыџьа (аӷацәа иреиуаз) ацаха шкәакәақәа кны ҳшәымшьын ҳәа рнапқәа ирҩаханы, рышҟа ишаауаз рбеит. Ргәы шны иҟамзи, ианырба ирзымычҳакәа иреихсырц иалагеит.

– Шәырмеихсын, иааиааит, – иҳәан, Сафарбеи иааникылт аҷкәынцәа.

Ишәаны, иҵыс-ҵысуа ихалт.– Ишәҭахузеи? – дразҵааит акомандаҟаҵаҩ Са-

фарбеи.

Page 60: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

60

– Ҳаԥсцәа ҳашәҭарцазы ҳааит, – рҳәеит, еибар-қачқачо.

– Шәгәы ишԥаанагои, ираҳҭарыма? – иҳәеит Са-фарбеи.

– Ишԥараҳҭои, даргьы шьны инаганы урҭ иры-ваҳҵоит.

– Арҭ зегьы еиԥшуп. Лахшақәоуп. Ауаҩра зцәыӡ-хьоу роуп. Дамеи даныржуаз иаҳзыруз ранаҳажьуа-ма? – ргәы ԥжәон. Изаанкыломызт.

– Ишәҳәо саҳауеит, аха ҳара ҳаԥсыуаауп. Урҭ рхы иақәнадырго ҳара ҳхы иаҳзақәнаргом. Аԥсы ила ҳхәаахәҭӡом. Дара рыԥсцәа роуп, иахьырҭаху ирга-аит… Иԥшьоу ҳадгьыл аҟны урҭ ахәымгақәа рызқәа аҭыԥ амаӡам.

Сафарбеи абас аниҳәа ашьҭахь, зегьы мчылаҵәҟьа рхы иақәԥаны рҽааныркылт.

…Рыԥсцәа рышьацәа ианкны, илбааганы ирыман ицеит ишәаргәындаха.

Сафарбеии Алиаси ркоманда аиааира ганы, ифырха цәаха ирыманы илбааит.

Анацәа ргәы цаны, изықәшәо рзымды-руа, ирзыԥшу рзымдыруа, ҳаҷкәынцәа еибганы изыхынҳәуама ҳәа иацухаахыс рыла лашарак амбо ишыԥшыз, рызегьы еибгоуп, Абаажә ахәы аӷацәа ықәцаны иаауеит ҳәа анраҳа, адунеи рызшеит, агәырҩа хьаа ирымаз нарыхҟьа ицеит.

Архәара иавҵны рцәаара шырбаз еиԥш, ҳәсагьы ха цәагьы гәырӷьаны ирԥылеит.

Ҟанчобеи аҷкәынцәа ирыдиныҳәалеит аиааира иргаз.

Адныҳәалара мацараҿы ҳзаангылом, ҳнеидтәала-роуп, ҳаҷкәынцәа аиааира рыманы, еибганы ихынҳә уа аабозар ачара шаауша ҳәа ҳақәаҳҵахьан… Абыржәы ҳазегьы ҳашҭоԥу сара сахь ҳшәышьҭы зҳәақәаз абацәа рацәаҩхеит. Аха аӡәы, аԥхьа сара соуп изҳәаз,

Page 61: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

61

сшәыҳәоит мап сцәышәымкын ҳәа имуӡо даналага, Шьаруан иаб даарылагылан: – Ишәҳәо саҳауеит, аха саргьы шәаасзыӡырҩы, сшәыкәыхшоуп. Шәара иа-цоуп ианшәықәышәҵаз, аха сара жәашықәса ҵуеит аҿаҭахьа сықәысҵеижьҭеи. Сеилышәкаауеит ҳәа сгәы иаанагоит. Анцәа ҳазшаз сикәыхшоуп, иани сареи ҳаҷкәын ибара ҳахьигӡеит. Иахьатәи амш сара исышәҭа, – ҳәа, Шьаруан иаб иҟаиҵаз аҳәара аӡәызаҵәык идамхаргьы мап ҳәа ахимҳәааит. Ры-зегьы иқәшаҳаҭхеит. Урҭ зегьы ирдыруан иҷкәын ашьауӷа иқәырҵаз далган данаауазы ҳәа злымҳа хҵәаны иоуижьыз ацәҵыс хәыҷы, идумпеихан адәы ишықәыз.

Рызегьы рҽааидкыланы Леуарса ишҟа амҩа ианны қә лоз аамҭазы, – шәаангылароуп, – ҳәа дкыл-ҟьа даакылсит Тҟәарчалтәи афронти ақыҭақәеи реимадаҩ , Хаҵакьаҿ ҳәа изышьҭаз.

Бзиарак реиҳәарц азы дшымааз рдырит, ишынеи-ҿаԥшыз еиԥш. Агәалаҟара бзиа ирымаз бжьысны, рышь ҭахьҟа иаахынҳәит рызегьы.

– Абаажә ахәы иаха ишәрыцқьеит. Излаҳаҳаз ала, рыхәҵәы ықәышәхит. Абаажә ахәы иаха иахьырзым-газ иараапкит, иарӷьашкит… Адырра злаҳауз ала, атанкқәа рыла идәықәлеит, уаха иалагӡаны, Мҵарс аӡы ирны зегь реиҳа иҳараку ахәы Ҵәаҳәыркыра ҳгоит ҳәа. Аӡы иржьтәым. Рымҩа ктәуп. Ари шыма-риам еилкаауп. Тҟәарчалтәи афронт акомандаҟаҵаҩ урҭ афашистцәа раанкылара зылшо Аҟәарашаа роуп ҳәа агәыӷра имоуп. Адҵагьы шәиҭоит, – иҳәан, иа-разнак даақәҵәиааны дцеит.

Ак иарҳәарц рҭахызаргьы, даҳзымӡырҩыкәа дыш-ԥа цеи зҳәақәазгьы ҟалеит, аха уи идҵа наигӡеит. Аҽа ҳәатәык имаӡамызт ҳәа Сафарбеи ианиҳәа, зе-гьы рҽааныркылт.

Page 62: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

62

Рабџьар рыҟәныххаҵәҟьа иахьымӡеит, адҵа шаа-роуз еиԥш, ажәыларахь амҩа иқәлеит.

Леуарса иҷкәын Шьаруан игәазхара дизым-бо ди хәаԥшуан. Зегьы ишырбоз дигәыдҳәҳәаланы игәыд кылара аԥсуа ҵасла дацәыԥхашьаны, аҩны ҳнеиаанӡа ҳәа иҽааникылт, «ушԥаҟоу» ҳәа ада акгьы изиамҳәаӡакәа, иҩызцәа дрылагыланы иҿанынеиха, игәы иамукәа днаихьӡан, – уареи сареи ара ҳаибабеит, аха уан убара даргәаҟуеит. Жәашықәса раахыс дузыԥшуп. Иацы ушааз лаҳан дмыцәаӡакәа илыршеит. Ҳаҩны аладахьы ииасуа амҩала шәцозар, унхаԥаланы дбаны уца, – ҳәа ибжьы рмаҷны, зегьы ирмаҳаратәы еиԥш илымҳа инҭишьит.

– Сзымнеикәа сцозар дысзымгәааит. Сшаахынҳә-лак еиԥш снеиуеит, – ҳәа иаб аҭак ииҭеит.

Ҵәаҳәыркыра аҵкыс иҳаракыз, улаԥш ахьынӡанаӡоз аҽа хәык ыҟамызт. Мхедрионаа халан иааныркылар, Аҟәараш мацара акәым, иаакәыршаны иҟаз ақыҭақәа, Тҟәарчал ақалақьгьы налаҵаны, рҭагылазаашьа дырцәгьон. Машьынак мҩасны ицома, ҳаирпланк ԥырны ихылома… зегьы рбарҭахон… Урҭ ракәым, ахәыҷқәаҵәҟьа рашҭақәа ирҭахәмаруа ишҭоу рбар иреигӡомызт.

Уи ахәы ҳаракы ашҟа ухазгалоз амҩақәа акымкәа-ҩбамкәа иҟан, аха иарбан мҩала иаауаз еилкаа-ны ирымаӡамызт. Ирдыруаз уи ауха иалагӡаны Ҵәаҳәыркыра ахәы агаразы ишаауаз акәын.

Сафарбеии Алиаси ркоманда рыманы инеит Мҵарс аӡы аԥшаҳәаҟынӡа, алашьцара хәыҷык ша-гыз. Аӷацәа ртанкқәа аӡы ирраны иҟоуп ҳәа акәын ишырдыруаз. Аԥшаҳәаҿы рҽааныркылан, иԥшит, иӡырҩит, ихәлеит, илашьцеит, аха бжьык рмаҳаӡеит. Сафарбеи аҭагылазаашьа иамхацәгьахан, Сандра адҵа ииҭеит нырцәҟа дырны иҟоу еиликаарац азы. Сандра дцо даналага, Шьаруан, саргьы сиццоит ҳәа

Page 63: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

63

дишьҭалеит, аха Сафарбеи игәамԥхеит. Дааникылт. Ԥшыхәра ицо аӡәы ихала дыҟазар еиӷьуп, иҳәан.

Сандра данца ашьҭахь дхынҳәны даанӡа ҳәа зе-гьы рышьҭыбжь мыргаӡакәа иԥшын.

Аамҭа цо ианалага, ирцәымыӷхеит. Изҭамԥшыхә-зар гьы ҟалап рҳәеит.

Хьаас иҟашәымҵан, атанк акәым, шәарыцара ашьха данцалак ашәарах аҽӡаны ацаҟьа аҽадҵаны игылазаргьы иҭеиԥшыхәуеит рҳәеит даҽа џьоукгьы.

Абас иӡбахә ишалацәажәоз дкылҟьа дааит. Азҵаара ирҭаанӡа иибаз аҳәара далагеит: – Ара ҳара ҳахьгылоу акәӡам излаауа, аӡәгьы иахьиҿахырсҭам ажәытәтәи амҩа, Николаи ихаан ихырҵахьаз ацҳахь рхы рханы ицоит. Ара ҳара баша амҩа кны ҳгылоуп. Атанкқәа сара избаз акоуп. Ар рмашьынақәагьы хԥа ыҟоуп. Избаз урҭ роуп. Рышьҭахь ирыцны иаауа ыҟазаргьы ҟалоит. Уи адагьы, аршьаҟауаа рацәаҩны иҟоуп. Абнаршәыра алоуп излацо.

– Уара утәала заҟа аамҭа аҭахузеи урҭ Николаи ицҳа аҟынӡа рнеиразы, – иажәа дшаалгаз еиԥш, Са-фарбеи диазҵааит.

– Сааҭбжак еиҵамкәа иқәхоит, – иҳәеит Сан-дра. – Абна ршәыра знык ианылашьца нахыс уахь-цо, уахьаауа акәым, ула аҵәыршы ҭакызаргьы иу-бом. Аха Сандра дахьрымаз абна илаирхо дыҟазма, шәсышьҭаланы шәаала ҳәа, амҩаду данушәа, раԥхьа дгылан, иман дцон.

– Ажәытә мҩа залырхыз ҳәа агәаанагара исо-уз уасҳәоит, Алиас. Нас уара угәы иаанаго саҳарц сҭахуп. Ажәытә мҩа, икарыжьхьоу, урҭ иабардыру-аз, аҭыԥантәи қәа аӡәы идимырбакәа иҟам, – иҳәеит Сафарбеи.

– Саргьы убасҵәҟьа сгәы иаанагоит, Сафарбеи. Ҳара хыхьтәи амҩа рызкны ҳашгылаз разҳәозгьы иҳаланхо агырцәа роуп. Ҵаҟатәи амҩа дзырбазгьы дара роуп. Убарҭ роуп аԥхьа зыхәҵәы ықәыхтәу.

Page 64: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

64

– Суқәшаҳаҭуп, Алиас. Урҭ уашьҭан ҳрыхьӡап. Уажәы ҵәҟьа ҳара иаҳҭаху Николаи ицҳа рырмыжь-роуп.

– Атанк ԥжәагақәа ҳамами?– Ишԥаҳамам, Абаажә ахәы анаагоз ҳаӷацәа

«ҳамҭас» иаҳзынрыжьыз ыҟами.– Уи адагьы урҭ «иаҳзаанрыжьыз» агранатамиот-

қәа, агранатақәа, абзарбзан ҭырҟьагақәагьы ҳамами.– Зегь ҳамоуп. Иааҳамоу зегьы рыжәаҳҵароуп.

Абаажә ахәаҿы ирзаауз еицәоу рзаауроуп, – ҳәа амҩа иахьын ӡақәыз Сафарбеии Алиаси рыхқәа еид-кыланы, аӷацәа ацҳа еибганы ишықәырмыжьша атәы акәын изла цәа жәоз.

– Акы шәацәымшәан, урҭ ртәы сара ибзианы издыр уеит, ишәаргәындақәоуп, – ҳәа Шьаруангьы иажәа нарылеиҵон.

Амаӷи ақәыци еилаԥаны, ауаҩ иакәым, ашәарахҵәҟьа зылымсуа аҟынӡа еимиааны иҟаз еимҳәаны, аӷацәа ацҳа аҟынӡа иаанӡа, анеира рҽахьырыгӡеит. Амҩа иахьын ӡақәыз иҟарҵашаз рыӡбахьан.

Мҵарс ӡдук акәӡамызт, аха бааԥсылашәа иҵаулан. Аҵа нӡа улаԥш наӡомызт. Насгьы даара иӡӷьын.

Ахаҳәҵәҟьа ҭауршәыргьы имҵарсны иагон. Мҵарс ҳәа изашьҭазгьы уи азы акәын.

Сафарбеи икоманда иманы ацҳа ашьапы ианаад-гылоз, нырцәынтәи аӷа итанк абжьы ааҩуа иалага-хьан.

Алиаси Сафарбеии, ианаауаз ишеибырҳәахьаз еиԥш, ацҳа аԥжәаразы артҟәацга дырмазеихьан, аха аҵаҵара даара ицәгьан. Иаҵагылаз аихатәы шьаҟақәа шәышықәса раахыс аӡы зхьыкәкәа илеиу-аз, асапын ахьыршьызшәа иҵәырҵәыруан. Ашьаҟа уахьынҳаланы, ацҳа аҵаҟа ухаланы иаҵоумҵакәа ԥжәашьа амамызт. Днахьыҵәраар, ҳаӷеимшхара,

Page 65: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

65

дынҭакәкәа дцон. Сафарбеи аӡә идҵара изымгәаӷьит, артҟәацга аашьҭыхны иҿанынеихоз аамҭаз, Али-ас дихьӡаны дааирхынҳәит. – Уара ушкомандиру ухоумыршҭын. Сара сцоит, – иҳәан, иааимихын, ацҳа даҵалеит. Уи иҟаиҵоз иаанагоз зегьы еилыр-кааит. – Уара ак ухьыр аҵкыс сара исыхьыр еиӷьуп… Ҳгәыԥ хыда иаанхар ҟалом...

Атанкқәа ацҳа иазааигәахацыԥхьаӡа рыбжьы еиҳа-еиҳа ицәгьахон. Алиас ацҳа аҵаҟа даҵакнарҳазшәа, иаԥхьаҟагьы дзымцо, ишьҭахьҟагьы дзымхынҳәуа шьа ҟак дахьынҳалан икын. Уахьынтәи днеиҭаԥеит, анаҩс игылаз ашьаҟа дахьынҳаларц. Артҟәацга ахьаҵеиҵашаз изыԥшаауамызт. Илашьцан, дна-пыршьышьуа акәын дшашьҭаз. Изаҵаҵарымашь ҳәа зегьы ԥшын. Атанкқәа агәгәаҳәа нырцә иааи-ны иаагылт. Алиасгьы иԥсы иманы ацҳа дааҵыҵит, анақәыӷәӷәарада ус амаӡамкәа ирхианы. Ацҳа ианбақәлои ҳәа рыԥсы ӡаны ишыԥшыз, атанки ар аазгоз амашьынақәа ҩбеи аӡы иаахықәгылт. Ацҳа иқәымлакәа иааҭыҵын, инаԥшы-ааԥшит, иӡырҩит, аха ацҳа аӡәгьы ишимыхьчоз анырба, шәарак рымаӡамкәа, еиханы иқәлеит. Абжара аҟынӡа иаа-ихьаны еиԥш, ирыҵаԥжәеит. Атанки амашьына ар зманы иаауази Мҵарс инҭахәаша ицеит… Аҵаҟынӡа илеиаанӡа рыҳәҳәабжь ҭыҩуан.

Урҭ рышьҭахь иаауаз, раԥхьа ицоз ирзыҟалаз амыждара анырба, еибарҳәҳәо рышьҭахьҟа ихын-ҳәит.

Аҟәарашаа хаха-хымш раахыс зхы ахчы иқәзым-ҵацыз, хацәынмырха аӷа иҿагыланы иқә ԥоз, аӷацәа араҟа иҭадырхаз рышьҭахь иаауазгьы аныԥхарҵа, ԥсеивгарак анроу, рааԥсара рныԥшит.

– Уахыки ҽнаки аԥсшьара шәымоуп. Ҳшәышьҭы ҳаҩ нқәа рышҟа, ҳанацәа, ҳабацәа агәырҩа иагахьеит, иҳаргәырӷьап, – иҳәан, Сафарбеи раԥхьа дҩагылан,

Page 66: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

66

аиааира ашәа ҳәо, уахала шьҭа еибашьтәыс иҳауам ҳәа ргәы каршәны ишаауаз, адәаҿы еиҿаҳаит аӷацәеи дареи.

Иҟалаз уи ауп, аӷацәа рбаталион, раԥхьа игыланы иаауаз, Мҵарс ацҳаҿы ирыхьыз анырба, ихынҳәны, амшын аганахь ала ихыз ҿыц иҟарҵахьаз ацҳахь еи-ханы ицаны иқәсит, уахьынтәигьы амҩа ыҟан, уши-ашоу Ҵәаҳәыркыра ахәахьы ухазгалоз. Ԥынгылак ҳамаӡамкәа, ишаанӡа ҳҩеиуеит ҳәа ишаауаз, Са-фарбеи икомандеи дареи еивысшьа рымамкәа иааиҿагылт.

Абасҵәҟьа, аӷацәеи дареи еиҿаҳаны, уахеиԥш Аҟәарашаа еибашьтәыс ирмоуцызт. Аӷацәа атанк раԥхьа игылан, БМП-қәа ҩба ашьҭагылан, аршьаҟауаа дара раҵкыс хыԥхьаӡарала даара еиҳан.

Зынӡа згәызҽанӡамкәа иҟаз Аҟәарашаа рабџьар ахаршалараҵәҟьа иахьымӡеит. Рхацәа ишнықәԥшыз еиԥш, реихсра иалагеит. Адәы агәҭаны иқәыркит. Хыхьчашьа рзыҟамҵеит, ԥшьҩык иаразнак иҭадыр-хеит.

– Шәызегьы абнахь шәыҩ! – ҳәа дыҳәҳәеит Са-фарбеи, адәагәҭаны риааишьа шыҟамыз аниба. Абнаҟынӡа уамак бжьамызт.

– Ҳаршьуазаргьы ҳаршьааит. Хаҵаҵас ҳҭахааит. Ҳаҩны абнахь ҳцар аҵкыс, – иҳәан Шьаруан, иавто-мат амгәа иҭаз зегьы ргәыдиҵеит.

– Ишәасҳәаз шәшәырҳа, сара соуп акомандаҟа-ҵаҩ, – иҳәеит Сафарбеи иаарымчны.

Ус иагьыҟарҵеит. Ииҳәаз, дара ирзымдыруа ак шаҵаз аҟара рбан.

Иҭахаз рҩызцәа аанырмыжьит, аҿывсывҳәа ахқәа шрывы ҟьҟьоз, иалганы иргеит.

– Аԥсуаа шәаны абна хыла иасит. Шәрыхьӡа, аӡәы деибганы даҳмышьҭыроуп, – ҳәа аӷацәа ҳәҳәо ирышьҭалеит.

Page 67: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

67

Абнара ззумҳәара ҳәа иҟоузеи, араҵәҟьа зынӡа ибнаршәыран. Ҽынланы улаларгьы, алҵра даара ицәгьан, лашарак алубаауа иҟамызт.

Ҳрыхьӡаны абна илаҳҟәаҟәоит ҳәа ирышьҭаланы ишаауаз анырба, абна иахьнылалаз рацәак хара имнеицкәа, – Шәаангыл, – иҳәан, Сафарбеи иаа-никылт. Аӷацәа адәы аҵыхәан иааирц егьшрыгмыз (абна аҟынӡа имнаӡацызт) иааҳәны реихсра иалаге-ит. Абна илармыжьлеит. Адәы иқәыркын, аҵлақәа ирывагыланы, икылкааны иреихсуа иалаган, аӷацәа еилырхаа иргеит. Заҵа абна иламларыз, рышьҭахьҟа иҩит, ишьызи ихәызи адәы иқәыжьны, иаанхаз рыԥсы ргеит.

Ауасақәа реиԥш ишәаны, рыԥсцәеи рыхәцәеи кажьны, еибарыҩны ишцоз, машьынак азна ар рыхьӡеит. Ргәы ӷәӷәахан, аԥсуаа рыбжеиҳараҩык нҳарҵәеит, ҳрылгеит, хыцҩыцқәак иаанхаз шәаҟьаны абна илатәоуп рҳәан, инарԥшны иддырбеит.

Абна илааблыроуп. Аӡәы иԥсы ҭаны даанымха-роуп. Арҭ роуп хыхьынтәи ацҳа ԥжәаны ҳуаа ҭазырхаз рҳәан, иахьыддырбаз абнара амца ажәырҵеит. Абџьар меигӡарахда ирыман. Раԥхьа атанкқәа дәықәырҵеит, абна аарҳәуа илалеит. Акыраамҭа аиҿахысра цон. Аӷацәа абнара илахысуан, аӡәгьы ицәаара рбаӡомызт. Аҟәа рашаа кылкааны иреихсу-ан, аӡәымкәа-ҩыџьамкәа иларышьҭит. Аӷацәа уик зынӡа иаҿхагаахеит, хыцҩыц қәак ракәзар абасҟак аамҭа шԥарықәҳарӡуеи, рҳәан, бџьар хкыс иаарымаз зегьы рыла абна илахысуа иалагеит.

Аҟәарашаа шьҭахьҟа ихьаҵраны иҟаӡамызт, аха рпатронақәа нҵәо иалагеит, рҭагылазаашьа еиҳа-еиҳа ицәгьахон. Цхыраарак ахьынтәироуа ҳәа аӡәгьы изыԥ шӡамызт…

Рҭыԥ рымԥсахыр шамуаз рбеит. Сафарбеии Али-аси (есқьаангьы еиԥш) рыхшыҩқәа ааиларҵан,

Page 68: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

68

рыхгьы ҭамырхакәа, аӷацәагьы Ҵәаҳәыркыранӡа ихамыжьлакәа уаҵәынӡа раанкыларазы иҟарҵашаз рыӡбеит. (Уаҵәы Ламкыцаа ркоманда ацхырааразы ирзаауеит ҳәа агәыӷра рыман.)

Ахысра иаҟәыҵит. Рҭыԥ ааныжьны абна илалеит.Иҳацәшәаны ицоит, рҳәан, ԥаса еиԥш уажәыгьы

ифырхацәаханы ирышьҭалеит мхедрионаа.Аҟәарашаа рҽеихшаны, абна илаланы ицон.

Инаскьацыԥхьаӡа (еибыҳәаны излаҟаз ала), иааҭ-гыланы, инеимда-ааимдо ахысра иалагон. Еижьаган уи. Аӷацәа ахысыбжь ахьраҳазахь иҩуан, ҳрыхьӡеит ҳәа еиханы ишцоз. Уахь иааҟәыҵны, аҽаџьара ахыс-ра иалагон. Зны анахь ирыҩуа, аҽазны арахь ирыҩуа, рҵыхәа иахьырԥшуа ирыманы ишаауаз, абнара аҵкыс еицәоу абнаршәыра иларгалт. Аҟәарашаа ахысра ианаҟәыҵ, аӷацәа ахьцо иахьаауа рзымды-руа иҟьалан, абнаршәыра илахеит. Еицәҟьалеит. «Шәабаҟоу, ҳабаҟоу?» ҳәа қырҭшәала аиқәҿыҭра иа-лагеит.

Сафарбеии Алиаси ишырҳәаз иҟало иааи уан зегьы. Аӷацәа ҟьалан абнаршәыра ианылахалак, ҳазегьы аџьыкӡы ахьыҵҵуа ҳәа ишьҭоу ахаҳә ду аҟны ҳҽеизаҳкуеит ҳәа еибыҳәан иҟан. Аҵыхәтәан рызегь уаҟа рҽеизыргеит.

Аӷацәа абнаршәыра илахаз агыгшәыгқәа раҵкыс рыбжьы цәгьан. «Ақәыцра ҳалахеит. Лҵышьа ҳамам. Ажәҩан аабом, адгьыл аабом, ҳабаажәгеи», – ҳәа, ркомандирцәа ракәхарын, рыхьӡқәа ҳәаны, ранацәа рхы ианырцәҳауан. Аҟәарашаа абыржәы еиӷьны аҭагылазаашьа рмоуцызт аӷацәа рҳәынҷаразы, аха равтоматқәа ҭацәын, ҩба-хԥа патрона еиҳаны изҭаз аӡәгьы икымызт.

Иааины изыдгылаз ахаҳә иадҵны шьаҿак раԥ-хьаҟагьы рышьҭахьҟагьы изеиҭамҵуа иаанхеит. Иаарыкәыршаны аӷацәа абна илхо илан. Акык-ҩбак

Page 69: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

69

ирзынханы ирымаз апатронақәа рыла урҭ ирылс-ны цашьа ыҟаӡамызт. Иҳакәшар, напышьашәала акәзаргьы, ҳаҽраҳҭом ҳәа ишгылаз, харантәи иааҩуаз абжьқәа еиҳа-еиҳа ирзааигәахо иалагеит. Ишԥарзаауеи ҳәа ишыԥшыз, аӡәы ибжьы акәым, ишьапышьҭыбжь раҳауа аҟынӡа ахаҳә ахьышьҭаз дазааигәахеит. Ҿааихак ҟамҵаӡакәа дыҳәҳәон, шәсыцхраа сашьцәа, сҟьалеит, сахьцо-сахьаауа сыз-дырӡом ҳәа.

Шьаруан уи ибжьы шааиаҳаз еиԥш, аӡәгьы егьиа-мҳәаӡакәа днарылҵын, аҵх лашьца дналашь-шьы дцеит. Дрылҵны ицашьа уамашәа ирбеит, иахырҳәаара рзымдыруа иаанхеит. Ақырҭуа ибжьы аниаҳа дыҵҟьаны дыҩны дахьцаз, иахырҳәаара рзымдырит.

Ари иҟаиҵаз, уара иахуҳәаауазеи, Сафарбеи, ҳәа икәшаны дыркит.

– Шәмыццакын, иҟаиҵо аабап, – иҳәеит Сафар-беи.

Шьаруан игәы иҭеикыз змааноу рзымдыруа, зегьы ҿымҭӡакәа ишыԥшыз, «Винахар шьен» ҳәа қырҭшәала аҽа бжьык аагеит. Зегьы ирдырит уи Шьаруан ибжьы шакәыз.

– Ҭквени каци вар, мишьвеле (шәара шәтәы соуп усыцхраа), – иҳәеит Шьаруан ибжьы шиаҳаз еиԥш егьи.

– Са дахар? – иҳәеит Шьаруан. Егьи, – «ақ авар», – иҳәеит.

Абас «уабаҟоу, сабаҟоу» ҳәа қырҭшәала еиқәҿыҭуа ианааиԥыла, ақырҭуа дгәырӷьаны Шьаруан ихәда да хьынҳаларц даналага, Шьаруан автомат игәы иныҵаи ргылт. Уинахыс уаҳа бжьы рмаҳаит.

Еибарԥсыма, рыбжьы зымгозеи, ҳара ҳтәы акы имыхьзааит ҳәа рҿымҭра рцәымыӷханы ишгылаз, зыбжьы гоз диаԥцаны даакылсит.

Page 70: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

70

Итҟәаны иааигаз иаҵкысгьы, иара деибганы дахьы хынҳәыз еигәырӷьеит.

– «Дҳацхраарц» абџьар иманы дшаауаз сиԥыланы даазгеит. – Иҟаиҵоз зегьы лафк наламыршәкәа иҳәаӡомызт Шьаруан.

Ииашаҵәҟьаны, икны иааигаз 125 патрона иман. Агра натақәа 4 идҳәалан. Ицырцыруа атапанча иҟә-нын. Иавтомат амгәа еиҵарпапа иҭәын.

Итҟәаны иааигаз иажәа иҿырхаанӡа, еиҭах «сада хар» ҳәа аҿыҭбыжьқәа ргара иалагеит.

Шәыбжьы уаҳа имго шәҟаҳҵоит рҳәан, завтоматқәа еиҵарпапа изырҭәыз аҷкәынцәа хҩык абжьқәа ахьгоз ахь ицарц иалагеит, аха Шьаруан имышьҭит, ахы алашареи алашьцареи еилнахӡом. Илашьцоуп, ҳарбаӡом ҳәа ҟалаӡом. Сара издыруеит урҭ ишырԥылатәу иҳәан, уажәымзар-уажәы сыршьу-еит ҳәа агәыҭҟьа иаганы игылаз, итҟәаны иааигаз, ав-томат изқәа иадыргыланы, «сыш ҟа шәааскьала, ара ишәарҭаӡам» ҳәа мчыла иҿырҭуа, диманы аӡәаӡәала дырԥыжьло, итҟәаны иаанкыло, быжьҩык ааигеит. Рызегьы абџьар иаҵан. Шьҭа ҳшәо ҳаҟам бџьарла, Шьаруан, ҳәа, игәырӷьаны изырура рыздыруамызт.

Итҟәаны иааргаз ражәа рҿыхра ианалага, ры-зегьы еицҿакны, ҳара аибашьра ҳҭахӡамызт, шәмеибашьыр ҟалом ҳәа мчыла иааргақәаз ҳауп. Абна ҳаныларгала ҳарцәыбналеит. Ҳхынҳәны ҳцоит ҳәа ҳшаҿыз ҳҟьалеит. Ҳшәымшьын ҳәа, ршьамхы адырсит.

«Ашәаҳәара» шәызҿу шәаҟәыҵны, жәылара ҳәа шәахьцоз шәҳәа, ҳнапы ҳмырҟьашькәа ҳәа иан ры-қә дырӷәӷәа ипатеит. Х-ротак бнала мацара ицаны Аҟәарашаа рколнхара арахә рферма ду аҿы инеи-ны итәоуп. Ашара ишазыԥшу. Уаԥхьа игылоу дубо ианааҟала, Ҵәаҳәыркыра ахәы агаразы ажәылара иалаго даргьы урҭ ирышьҭаланы ишцоз, иҟьаланы

Page 71: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

71

абна ишылахаз, раԥхьа ицаз бџьарқәас ирымоу… уҳәа иаардыруаз зегьы ддырҳәеит.

Ари еиԥш анраҳа, арахә рфермахь амҩа иқәлеит. Атҟәацәа бџьарла «еиқәдыршәахьан», акы иацәшәо иҟамызт. Ишаанӡа инеины ирхаҩеит. Хышә хы зку-аз аколнхарарахә рферма дыргылеижьҭеи шықәсык акәын иҵуаз, ахаҳә бетонла иҟаҵан. Ақәылаҩцәа уахынланы инеин, ахьшьцәа (ауха изҷаԥшьоз) аҩыџьагь ршьит. Арахә ҩынцаны дара ҩналеит. Ауха ишьны ирфаз арахә рцәақәа, рыхқәа адәахьы икажьын.

Сафарбеи икоманда иманы данааз аша-ра алагамҭазы ауп. Иҿыхахьаз раҵкыс ицәаз еиҳан. Рышҟа џьоукы шаауаз рцәаарақәа анырба, шәызусҭцәада, ишәҳәа ирласны, акәымзар ҳшәыл-гоит, рҳәан, равтоматқәа харшаланы хҩы-ԥшьҩы рҟынӡа аадәылҟьеит.

Шәара шәтәқәа ҳауп… Ҳшәышьҭаланы ҳааит рҳәеит. Атҟәацәа ирыманы амҩа ианықәлоз ирар-ҳәахьан ианнеилак ирҳәашаз. Шьаруан ақырҭ бызшәа бзианы ишидыруаз рдыруан, ирҳәараны иҟаз ражәа ааиҭаркыр, иара уаҵәҟьа ишахәитәуаз агәра диргахьан.

Ҳара ҳтәқәа шәакәзар, шәааи арахь, рҳәан, ашә ҟьаҟьаӡа ирзаадыртит. Ҳара ҳтәқәа ракәым ҳәа гәҩарасгьы ирымкӡеит, ирышьҭаланы ишаауаз рды-руан азы.

Ргәырҽанны ишыҟазгьы, ари еиԥш ҳақәшәоит ҳәа иҟа зма. Ишыныҩналаз амца рыжәырҵеит. Рыб-жеи ҳа раҩык ацәа иалымҵыцыз ахысра акәым, абџьар шьҭыхраҵәҟьагьы иахьырмыгӡеит. Усҟан ара иҟалаз ҿыки бзыки иазҳәом, арахә реиԥш ихәаауан. Ҳаԥсы ҳазгозар ҳәа ашьҭахьтәи ашә икылеибархо индәылбӷьыжәаа ицеит. Забџьар ашьҭыхра иахьӡаз мцакәа ахысра иалагеит. Аамҭа кьаҿк иалагӡаны

Page 72: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

72

аибашьра ӷәӷәа ҳәа ззырҳәоз цон аферма аҩныҵҟа. Инхада, иԥсыда рҳәо аҟынӡа ианнеи, ақырҭцәа егь-шрылымшоз рбан, рыхәцәагьы рыԥсцәагьы кажь-ны, рҩызцәа реиԥш, ршьамхы рҽадыргеит ирыҵа-гылаӡамшәа, ирыҵырхаанӡа.

Аиҿахысраан Аҟәарашаа рыҷкәынцәа хәҩык ҭахеит, ԥшьҩык рхәит.

Ҳҩызцәа ҭахеит, аха баша иҭамхеит. Аиааи-ра ҳдыргеит, арҭ ашьажәцәа, шьҭа ала ахьдырхәаз ахь иқәлараҳа, даргьы арахь иқәлараны иҟаӡам ҳәа рҩызцәа иҭахази ирхәызи рыманы, ҳхынҳәуеит ҳәа аферма адәылҵра ишаҿыз, адәы еиҵых аҵыхәан абна иаалыҩрын, аӷа итанк ҳәазо дара рышҟа ахы рханы ишаауаз рбеит. Ԥаса ирбахьаз аӷа итанкқәа иреиԥшымызт ари. 30 снариад зҭоу агаубица зықәгылаз акәын. Снариадк азхон изыҩналаз афер-ма инықәблаа, инықәццышәаа агаразы.

– Адәахьы дәылҵшьа ҳамаӡам. Шәыҩнал аҩныҵ-ҟа, – иҳәан, идәылҵхьазгьы адәылҵра иаҿызгьы рышьҭахьҟа иргьежьит Сафарбеи.

– Шьҭа иҟаҳҵозеи? Ҳаршьаанӡа ҳәа ҳдәылымҵ-ӡакәа ара ҳаҩнагылазаауама? – Шьаруан игәамԥхеит, ихы иал нарҟьеит Сафарбеи рызегьы ырхынҳәны иахьыҩнеи галаз.

– Иҟаҳҵарц иуҭахузеи, Шьаруан, напышьашәала атанк ҳаԥыларыма? – иҳәеит Алиас.

– Напышьашәала ҳзаԥылаӡом, ҳаӷацәа ирцәаагаз артҟәацгақәа маҷ ҳзаанхама. Сафарбеи мап имкуа-зар, сара схаҭа исыманы саԥылоит.

– Ус усырҟаҵом, Шьаруан. Ҳара иҳамоу аграната-қәа аршьаҟауаа ирыҵаԥыржәо роуп. Урҭ рыла атанк аанкылашьа амаӡам… иаҵарҟьыцны иахысны ицо-ит. Ҳара ҳфырхацәоуп, иамуӡозар фырхаҵарыла ҳҭахааит, ццакрыла, мариала акәымкәа.

Page 73: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

73

– Иуҳәаз еилыскааит, Сафарбеи, – иҳәеит, аха иҽизеиқәкуамызт, илақәа амца рхыланы атанк дазыԥшуан. Еиҳа-еиҳа ирзааигәахо ианалага, Шьа-руан Сафарбеи иахь даахьаҳәын, – сақәшаҳаҭуп, ианаму аамҭазы фырхаҵарала аҭахара хьӡуп. Ҳаӷацәа идҳарбап аԥсра ҳшацәымшәо, шәааи, Кьа-разаа рашәа ҳәаны, ҳаԥылап аԥсра, – иҳәан, Шьа-руан акаҩҳәа иаацәыригеит жәашықәса раахыс иимҳәацыз Кьаразаа рашәа, рызегьы еицдырӷызит. Аԥсра шырзыԥшыз рханаршҭит Шьаруан ибжьы, убри аҟынӡа иӷәӷәан, изыҩнагылаз аҭӡамцқәа арҵысуеит уҳәарын.

Атанк, агәгәа ахга, иаарыдгыларц шьаҿақәак ша-гыз иаақәҵәиаан, аферма инаҩсны идәықәлеит.

Сафарбеи иоуп раԥхьа избаз, ашә ывҵрааны дазы ԥшуан, иҩызцәа раԥхьа иара даԥыларц. Ас ша-аибаз еиԥш, иҩызцәа рышҟа даахьаҳәын, ахаҵара ашәа иацә шәазшәа, иҳавсны ицеит аниҳәа, агәра рзымгеит дара рхаҭа ирбаанӡа. Иабацои ҳәа рызегьы шазыԥшуаз, изныз амҩа иаамҩахыҵын, аҽа мҩак ианылеит. Уи амҩа Ҵәаҳәыркыраҟа ицоз акәын.

Уи шьҭа иаанызкылода? Тҟәарчалаа ирдыр-уазҭгьы, урҭ зегь рыла еиқәшәоуп, ихарыжьлом. Аха адырра рыҭашьас иҟоузеи ҳәа игәажәажәо Сафарбе-ии Алиаси шеидгылаз, атанк абжьы агара иаҟәыҵит. Рылаԥш ахьынӡанаӡоз аҟынӡа инеихьан. Имҵысӡо ҭыԥк аҟны игылан. Аӡыхь ахьыҵыҵуаз аԥхьа акәын иахьгылаз, атанк данҭыҵуаз дрымбеит, аха аӡыхь аведра нҭышьны азна иманы атанк данҭалоз дырбе-ит аӡәы. Издыруада, ҳаԥсы ҳшьоит ҳәа, ма акраҳфоит ҳәа иаангылазар? Ус аума, анс аума иахьынӡагылоу аамҭа ҳхы иаҳархәароуп. Зегьы иаадыруеит, уара афы уаҩызоуп, насгьы амҩахәасҭақәа иузымдыруа ыҟам, уԥырны уцаны Тҟәарчалаа адырра руҭароуп ҳәа Сафарбеи адҵа ииҭеит Сандра.

Page 74: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

74

Сандра иааидырҵоз акы мап ацәкышьа издыр-ӡомызт. Сафарбеи иажәа ҩбамтәыкәа ддәылҟьан ддәықәлеит, аха Сафарбеи дахьхәызшәа, шьаҿак ҟаиҵаанӡа дирхынҳәит. – Ухала уаҳзышьҭуам, иаха зшьамхы зҽазыргаз аапкны абна илазар ал-шоит. Агәҽанызаара аҭахуп. Шьаруан дуцаҳҵоит, џьара шәеиҿаҳаргьы, уи урҭ рҿаҭәҳәашьа идыру-еит, – иҳәан, Сафарбеи ишьҭахьҟа даахьаҳәын, сахьшәылаԥшуа дызбаӡом, Шьаруан дабаҟоу, иҳәан, иааицәымыӷхеит данимба.

Ара дыҟан уажәы, дабацеи, издыруада ӡык нкеиҭәарц ашьҭахьтәи ашә ала ддәылҵзар рҳәан, идәылҵны иԥшит, аха дрымбеит. Рыбжьы иқә-дыргеит, атрышә изасит, аха ибжьгьы рмаҳаит. Ихаҭагьы дрымбеит. Инеиҿаԥшы-ааиҿаԥшуа иаан-хеит, иахырҳәаара рзымдыруа.

– Уи зныкгьы ус ҳзиухьеит… Дыхнымҳәкәа даба-цои. Ҳаизыԥшны аамҭа аагарым, ушзахәо уца, Сан-дра, умацара, – иҳәеит Сафарбеи, Шьаруан ирзиуз шигәамԥхаз инимырԥшӡакәа.

…Аҟәарашаа иацы шьыжьымҭан аахыс аҿаҵа рыхәда илымбаацызт. Аӷацәа аферма ишаадәылырцаз еиԥш, рыԥсы ааиҭакны, амҩа иқәларц рыӡбеит. Ҷыка даарылҵын, шәара шәыԥсы ахьынӡашәшьо, сцаны иаҳфаша акы аазгоит. Саншьцәа абра ааигәа инхоит, иҳәан, дыҩны дцеит.

Атанк рывсны ианца ашьҭахь дкылҟьа дааит. Еи-дарак афатә сыманы сшаауаз, ҳаӷацәа срылашәарц егьаасыгымхеит. Ар хыҵны иаауан, атанк ҳахь ӡа-роуп… аферма ԥаажәароуп ҳәа еибарҳәҳәо. Иаазгоз аидара кажьны сшыҩуаз сааит ишәасҳәарц, иҳәеит, иԥсы игәы икылахо, Ҷыка.

– Урҭ, иаха зыԥсы зманы, аферма идәылбӷьыжәаа ицаз роуп. Иҳажәларц иаауеит. Ишрыхәҭоу ҳарԥылап, – иҳәеит Алиас, Сафарбеи илацәа нҭаауашәа дахьыҟаз диԥыр хагамхакәа иааимидан.

Page 75: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

75

– Алиас, иуҳәаз сақәшаҳаҭуп. Иахатәи «рзымха-зар», иахьа ираҳҭап ирызхаша, – иҳәан, ашырҳәа дҩаҵҟьеит.

«Шәгыл, ацәа шәалҵ» ҳәа раҳәара дахьырмыгӡеит, реицәажәара ргәы иқәыҩуазаарын, аӷацәа хынҳәны иаауеит ҳәа анраҳа, ацәарагьы ааԥсарагьы нарыхҟьа ицеит. Рҽырхианы иаагылт, Сафарбеи акоман-да анбаҟаиҵои ҳәа. Абна илҵны афермахь иаауаз аӷацәа шәҩык иреиҵамызт.

– Иааскьалааит. Иааҳадгылаанӡа бџьарк ҭымҟьа-роуп! – акоманда ҟаиҵеит Сафарбеи.

Сафарбеи ииҳәаз раҳазшәа абна иахьаалҵыз иаан гылт. Акыраамҭа еиҿыхон. Ирҳәоз раҳауамызт. Нас уантәи аферма аихсра иалагеит. Аферма аҭӡамцқәа ахы рылҟьо иҟамызт, иаахоз зегьы, аџьықәреи цырақәа реиԥш, иадышәшәаны икаԥсон. Ахысра ианаҟәымҵӡа, агранатамиотқәа рыла ҩынтә ианрылахыс, рышьҭахьҟа ихынҳәны, абнахь ицеит. Рҽырҵәахит.

– Урҭ ҳаргьы иҳашьҭоуп, аха изышьҭаҵәҟьоу, Ҷыка ишиҳәаз еиԥш, иҳавсны ицаз ртанк ауп. Инҭгыла-ааҭгыло изцогьы, иашьҭоу ахьнагӡарц азы акәхап.

– Шәазыԥши, уажәраанӡа игылан. Иҟаӡам, ица-хьеит.

– Аԥхьа ҳазцар. Ҵәаҳәыркыра иаҿагылоу абахә аԥшь иаҵсны ауп ишцо. Ианнаҵагыло аамҭаз абахә ҳзыԥжәар, Ҵәаҳәыркыра иавганы ажәҩан иалаҳҵоит, – абас еибыҳәаны амҩа иқәларц аҽеи-быҭара ишаҿыз, атанк хынҳәны ишаауаз рбеит. Иныҵыкка ицеит. Ҳаибганы ари аферма дәылҵшьа ҳамамзаап ҳәа згәы каҳақәаз ҟалеит. Знык иамуа, ҩынтә иамуа… Ус рҳәаратәгьы иҟалеит.

– Шәаангыл, ҳгәы каҳажьрым, ианцоз иҳавсит, ианаауагьы иҳаҩсны ицаргьы шәыздырам, – рҳәоит џьоукгьы.

Page 76: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

76

– Иҳавсны ицома, ахы ҳақәкны иаауеит.– Нас ишԥаҟаҳҵари, ҳдәылҵны ҳаҩрыма?– Ара ҳшыҩнагылоу ҳандырҵәар аума иуҭаху?– Ҳара иаҳхароугьы ыҟоуп, иҳавсны ианца ҳара

ара ҳаззыԥшызи, ҳдәылҵны ҳзымцазеи? Ҷыка ҳхәы иманы даанӡа ҳәа ҳзизыԥшыз?!

– Шәаҟәыҵ, уара, агәкажьга аҳәара. Аҽазныкгьы ҳа ӷацәа идҳарбап ҳара ҳашхацәоу, ҳаԥсадгьыл аиқәыр харазы ҳхы ҳшамеигӡо. Шәааи, еиҭаҳҳәап ахацәа рашәа, – иҳәан, Сафарбеи изаҟаразаалак шәарак инмырԥшӡакәа, иажәақәа зегьы гәышь-ҭыхганы рыгәҭа даагылт. Ииҳәоз адагьы иахьи-хәаԥшуаз, иԥшра мацара гәырӷәӷәаган. Икәшаны иаагылт. Атанкгьы ааины иаарыдгылт. Ԥсыҽрақәак зласызгьы рҽаадырӷәӷәан, рҩызцәа иаарыла-гылт, зегьы ирыхьуа ҳаргьы иҳахьааит, рҳәан. Уажәымзар-уажәы ҳәа… иазыԥшын абзарбзан хқәа ахыбра ианбагәыдырҵои, ҳагозар зегьы ҳаицагааит ҳәа рнапқәа еикәыршаны ишгылаз, Шьаруан аӡә имахцәа данкны атанк дааҭыҵын, азқәа днықәгылт. Рыла иабаз агәра рзымго, ишанханы ихәаԥшуан.

– Шәарыцара сахьцаз сманшәалахеит. «Алым» кны ишәзаазгеит, – ҳәа дыччо, атанк азқәа дықәгылан.

– О, уара, ари доумоуп. Иҳавсны ицаз атанк ахаҭоуп иааигаз. Рыцәгашьас иҟаиҵазеи? – ҳәа ирзымбатәбараха акәын атанк ишахәаԥшуаз.

– Ирцәысымгаӡеит. Шьапыла сышцоз анырба, ушьапқәа рыԥсы дыршьа, абри ала уныҟәала ҳәа ртанк иааҭыҵны сара исырҭеит, –алаф иҳәон, дыч-чон.

– Ииҳәо шәаҳауоу, ҳамҭас ирҭазаап… Ус иара дымсааит!.. – изаҳауазгьы ччон.

– Издыруада ари ақәыџьма урҭ ирыҵеигалаз.– Ирыҵеигалазаалакгьы ҳаиқәирхеит.– Дылбаар, адгьыл ишьапы ықәирсаанӡа ампыл

Page 77: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

77

еиԥш даашьҭыхны ажәҩан далаҳҵоит, – ҳәа ишгы-лаз, – ари дыжәбо, ныҟәцаҩыс ҳәа дсырҭеит. Даара ибзианы иныҟәицоит. Амашьына ласы сақәтәазшәа, смырҵысӡакәа сааигеит. Иахьарнахыс дыжәдыруаз, – иҳәан, дырԥан рыгәҭа дрылаирԥалеит. Уи ишьҭахь иаргьы, шәнаскьа-ааскьа, сахькаԥаша аҭыԥ сышәҭа, нас шәҭахызаргьы ампыл еиԥш сшәыршәла, – ҳәа алаф ҳәо дахьынкаԥаз, иԥсҭазаара ааҿахҵәеит. Иҟалараны иҟоу хырԥашьа амам ҳәа шырҳәо еиԥш, аӷацәа аферма иҭцаны ианкарцоз артҟәацгақәа акызаҵәык зышьҭаҵара иахьӡаз иара «изыԥшызаарын», иҵаԥжәеит.

Еибарҳәҳәан, даашьҭырԥааит, еибгоу ҳәа ма-хашьахак имаӡамкәа дыҟан, рыԥсы ихҭнырҵон, акы ишихәоз рдыруазҭгьы. Убасҟакынӡа ргәы дрыцҳанашьеит. Аха акы ихәо ҳәа дыҟамызт. Иԥсахәага шҭоу иҩнынӡа дҳазнагозар ҳәа дрыман идәықәлеит, аха мҩабжа днаргаанӡа иԥсы ихыҵит.

…Алиас уи дигәалашәацыԥхьаӡа игәы иқәыҩуа иалагон, дрыманы ишцоз, иԥсхыхымҭаз «Сан, сан» ҳәа, ҩ-ажәазаҵәык иԥсымҭаз ииҳәаз. Игәала шәа-цыԥхьаӡа агәыхь изнарҵысуан. Иан димбацзижьҭеи жәашықәса ҵуан. Лыбла сынҭаԥшында ҳәа абахҭа аҟынтәи дшаауаз, иҩызцәа, иашьцәа Абаажә ахәы еиқәҳархоит ҳәа ажәылара ицоз данаарылагы-ла, иангьы иабгьы игәалеимыршәеит, дрывагыла-ны еибашьра дцеит. Аиааира ганы (еиҳараӡак иара ила) ианыхынҳәгьы, дныдыххыланы акәзаргьы, иан дизымбаӡакәа еиҭах еибашьтәыс иоуит. Адәахьы инирԥшуамызт, аха иан игәы дыҵаланы дшыҟаз Алиас изныкымкәа ибахьан. Жәыларак ааҟалацыԥхьаӡа, игәы иадҵан имаз иан лпатреҭ маӡала иааҭыганы, ибла нахымгакәа, ишьаҿа еихи-гомызт. Аҵыхәтәантәи иажәақәа цәгьа ихьамҭан, аԥша ахьасуа иазго иҟамызт. Ишиашаз иан лҟынӡа

Page 78: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

78

инаӡазар акәхап, быҷкәын дҭахеит ҳәа анлаҳа, лгәы аангылеит. Гәабзиаралагьы усҟак дыӷәӷәаӡамызт. Уахгьы ҽынгьы анцәа диҳәон, сыԥсы шҭоу сыҷкәын дсырба ҳәа. Илаҳаз лызхымгеит. Лара дзиԥымлеит, аха лыԥсы иԥлыжьлеит.

Шьаруан дыржаанӡа иалацәажәо изыҟамлеит уи имацара дцаны, аӷацәа ртанк рыцәганы аагашьас иҟаиҵаз. Ишааигаз еиԥш, итҟәаны иааигаз атанкист идырҳәеит ишыҟалаз.

Ҵәаҳәыркыранӡа инаӡарц егьшрыгмыз… иааҭ-гы ло, имыццакӡакәа акәын ишцоз, ирышьҭа ланы иаауаз ҳхьаҳагӡоит ҳәа. Ианааҭгылоз аамҭа иа қәыр-шәаны, Шьаруан иҽырхьигӡеит. Инапы шьҭых ны атанк аԥхьа даагылт. Ари еиԥш агәаӷьра мариа-мызт. Шьаруан аԥсра иацәымшәаӡоз иакәын. Ари дызусҭада, иҳәан, атанкист итанк неигәыдҵаны, даҵарҟьацны, дихысны дцарц далагеит, аха Шьа-руан ишәыз амаҭәа аниба, иҽааникылт. Орҭаҷала абахҭа иҭакыз абаандаҩцәа рымаҭәа акәын ишәыз. Атанкистгьы уи абахҭа иҭаркхьаз аӡә иакәзаарын.

– Узусҭада уара? – ҳәа дизҵааит (дԥишәон). – Шәара шәтәы соуп, – иҳәеит деиҿамсӡакәа. – Иухьӡузеи? – Џьигаро сыхьӡуп, – иҳәеит. Илагьы еихаҟәысуа-

мызт.– Араҟа уаазгазеи? Узусҭоу умҳәазҭгьы сноухыс-

ны сцон. Аума сурҟаҵон. «Џьигаро» ҳәа ззырҳәоз ақәыџьмақәа ҳәа

изышьҭаз ахыхҵәаҩцәа ракәын, урҭ рылакьысра ҟалаӡомызт.

– Араҟа уаазгазеи? – ҭынч дизааигәахеит.– Аԥсуаа – ҳаӷацәа, ҳазегьы арахә рфермаҿы

ҳҭакны ҳрыман. Ҳаркит, ҳаршьит, амш ҳаларгеит, иаҳзырымуз ҳәа егьыҟам. Ҳаԥсы ҭырхырц ишаҿыз, ҳтанк шаауаз анааба, ҳаԥсы ҭалеит, аԥсуаа шәаны

Page 79: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

79

рыԥсы рхыҵит. Иҳахьӡеит, шьҭа акыр ҳахьраны ҳаҟоума ҳәа ҳшыԥшуаз, шәааҳавсны шәцеит. Ишәзымдыруазҭгьы акәхап ҳауаа ҭакны ишры-маз. Шәҳавсны шәанца, сара сырцәыбналеит. Абра сшәыхь ӡеит. Шәхынҳәны ҳауаа еиқәшәырхароуп, – ҳәа аниеиҳәа, дақәшаҳаҭхеит. Иҩыза идиҵеит, али-ук аартны арахь дҭагала, ари ҳара ҳтәы иоуп, иҳәан, алиук изааиртын, арахь ухәна ҳәа инапала иир-беит. Шьаруан ҵаҟантәи дышьҭыԥан, атанк азқәа дықәԥалт. Алиук изааиртырц дшаҿыз даанкылан, дышьҭыхны ахаҳәра дахьылеижьыз иҽааиҵихит. Атанкист хыхь иҟаз ибаӡомызт. «Џьигаро» дизыԥшын.

– Уҽанааурҵыс сулгеит, – ҳәа иаҳәызба ҭԥааны дааи хагылт. Атанкистгьы еибагак иакәзаарын, иа-разнак итапанча имаҟа иавҵиԥааит, аха аҵхара дахьимыгӡеит, димпыҵасны иааимиԥааит.

– Ухынҳәны сара иахьысҳәо уцала, – иҳәан, ата-панча ишьҭахь ала ихы инадиргылеит. Мап икыр дшимеигӡоз ибеит. Итанкгьы иаргьы еидкылан има-ны дааит.

Ажәыларақәа раан Шьаруан «атанк даҩызоуп» ҳәа акәын ишизырҳәоз игәымшәаразы.

Аӷацәа ирцәигаз атанк иара ихьӡ ахьӡырҵеит. Ан-бан дула «Шьаруан» ҳәа адҩыланы ианаацәырҵлак, иҩызцәа иара ихаҭа иакәушәа аҟынӡа ргәы ааӡон. Ҽнакгьы игылан иаанымхеит. Ақырҭцәа «Шьару-ан» аауеит ҳәа анраҳалак, рыԥсы рхаҳауан, убасҟак ахыԥша ӷәӷәан… акы иааннакылараны иҟаӡамызт.

– Зегь реиҳа данаҳҭахыз аамҭазы дҳагхеит. Уи дахьҳамаз аӷба иҭоу ҳаиҩызан. Уаха ҳахьцо дҳа-цызҭгьы… Дышԥаҳҭахыз… игәымшәарагьы.. иқырҭ-бызшәагьы… – Абас Шьаруан дыргәаларшәо Очам-чыраҟа амҩа иқәлеит Сафарбеии, Алиаси, Сандреи.

Page 80: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

80

Ешелонк азна атанкқәеи (Т–55), аџьаԥҳани абџьари, аԥ жәагақәеи арҭҟәацгақәеи, ар рхәи, рымаҭәеи, амеди каментқәеи зықәны Қарҭынтәи Аҟәаҟа амҩа иқәыз, ахә лара ахьӡо ианалага Очам-чыра иаангылт.

Мхедрионаа ацәшәон уахынланы решелон Там-шьи Аӡҩыбжьеи ирылганы агара. Аԥсуа партизанцәа акырынтә ахамшҭыхә иақәдыршәахьан, ртанкқәа рыҵаԥыржәахьан. Рдәыӷбақәа аадырҳәхьан, ар зма-ны ицоз рмашьынақәа аанкыланы, итҟәаны ирга-хьан. Ҽынламзар, уахынла амҩа изанымло иршәаны ирыман.

Сафарбеи иҩызцәеи иареи адҵа рыман, ианы-лашьцалак ашьҭахь аешелон ахьгылоу иахаҩаны иԥыржәарц.

Инеираны ианыҟаз аамҭазы, адәыӷба станциа ккаӡа ирбо аҟынӡа инаӡеит, авокзал аҿаԥхьа иҟоу ачықьқәа рыҽрывакуа, рцәаара аӡәгьы имырбаӡакәа. Ианыԥшы иаарцәымыӷхеит, адәыӷба мҩа ҭацәын, аешелонгьы гыламызт, дәыӷбагьы гыламызт. Апер-рон аҟны мхедрионаа рацәаҩны игылан, зны аха-хьы ицон, аҽазны аҵыхәахьы. Изышьҭаз аны-рымба иаарцәымыӷхеит. Иаан гылару ихынҳәны ицару рзымдыруа иаанхеит. Сандра ибла ҵарқәа шаҟьшаҟьо дшынаԥшы-ааԥшуаз, аихамҩа иаҿганы адепо ахь ицо амҩа аҵыхәан еилаҟәаҟәа, еилаԥыххаа, уаҩы имыхәо игылаз авагонқәа изышьҭаз аешелон шрыбжьагылаз ибеит. Аӡә илаԥш иҵамшәарц азы акәхап, атупик ахь имҩахганы иргылан ирыман.

Ачықьқәа даара ихәарҭахеит, рыҽрываӡаны, ае-шелон ахьгылаз аҟынӡа инеит. Ҩыџьа ирыхьчон, наҟ-ааҟ иавагылан. Аӡәы ахахьы данцоз, аҽаӡәы аҵыхәахь дцон.

Зегь раҵкыс ицәгьаз авагон иаҵаланы аԥжәага аҵаҵарҭа аҭыԥ аԥшаара акәын. Уи ихахьы игеит Са-

Page 81: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

81

фарбеи. Алиаси Сандреи аешелон ахьчаҩцәа рыг-рҿы иамырҳәаӡакәа рықәгара акәын. Урҭ ықәгамкәа, Са-фарбеи аԥжәага иманы аҵалашьа имаӡамызт. Алиас аешелон аханы иҽӡаны дгылан, ахьчаҩ аҵыхәан дца-ны данбаауеи ҳәа, Сандра аҵыхәан дгылан, ахахьы иҟоу данбахынҳәуеи ҳәа. Аханынӡа инеиз уа даанхе-ит. Аҵыхәаҟынӡа инеизгьы шьҭахьҟа дзымхынҳәит. Рыдҵа нарыгӡеит, аҩыџьагьы ирылгеит. Сафарбеи ари еиԥш аимҟьара аныҟала, аешелон даҵалеит, ирласны изымԥшааит аԥжәага ахьаҵаҵатәыз аҭыԥ. Илашьцан, ииулак иԥшаан, инаҵаҵаны, аԥжәарада ус амамкәа ирхианы данаалгоз аамҭазы, мхедрионаа еибарҳәҳәо, аҟәҟәаҳәа ихысуа рҿаархеит. Аешелон зыхьчоз рылаԥш рхызаарын, уи азы акәзаарын игье-жьуа аперрон изықәыз. Аныҟәара ишаҟәыҵыз аныр-ба, ак шыҟалаз рцәа иалашәан, аешелон ахь еиханы идәықәлеит. Аперрони аешелон ахьгылази рҟынӡа 200 метра еиҵамызт ирыбжьаз. Урҭ еиҳәҭырԥо иаанӡа, Сафарбеи аԥжәара дахьӡеит. Атәыла бге-ит, адунеи ааҳәызшәа рыбжьы цәгьахеит, бџьари џьаԥҳани, ешелон дуӡӡак иақәыз ԥжәо ианалага. Иахылыҩрны ицоз алҩақ еиқәаҵәа жәпаҳаҳараӡа, аԥшаҵәҟьагьы иазмырҵысуа, Очамчыра ақалақь иахатәеит. Уаԥхьа игылоу думбо иҟалеит.

…Сафарбеи иҩызцәеи иареи анаауаз иҟарҵашаз еибырҳәан, ишымариамхоз, аԥсреи абзареи рыбжьа-гылатәыс ишроуаз рдыруан.

– Зегьы ҳарзыԥшызар ауп. Решелон анԥаажәалак ашьҭахь, мхедрионаа ҳашьҭамлар рурым. Очамчы-ра акалақь рнапаҿы иҟоуп. Иҳакәшаны ҳаркуашәа аабар, авокзал иацәыхарамкәа иҟоу анышәынҭра ҳҭалароуп. Уи дара агырцәа рнышәынҭроуп. Ҳгәыла агыруа Џьоџьуа иҳәо саҳахьеит, ҳара ҳҿы ус иаԥуп, анышәынҭра аҩныҵҟа акәым, уавсны уцозар-гьы ахысра ҟалаӡом, аԥсцәа рыԥсы аршәоит ҳәа

Page 82: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

82

иԥхьаӡоуп. Рышра еиқәтәаанӡа рыԥсцәа ҳрыдтәалаз, ҳрыхьчалааит, – иҳәан, аҵыхәтәан дагьахыхәмарит Сафарбеи.

Сафарбеи, иҟалоз ибозшәа, ишиҳәаз иҟалеит. Ирыкәшо иалагеит, царҭа рмоуа рымҩақәа ркит. Ишеибырҳәахьаз еиԥш, анышәынҭра иҭаланы рҽырымҵәахыр амуа иҟалеит.

Ахҩыкгьы еиццо изыҟамлеит. Мхедрионаа алаапк еи ԥш ианрылала, хаз-хазы еихеит анышәынҭрахь.

Егьырҭ раҵкысгьы Сафарбеи дыкҿарцалеит. Илашь цан, акы убо ҳәа иҟамызт, аха дахьцоз рбозшәа, иааҟәымҵӡа кәа ихысуа ишьҭаланы иа-ауан. Анышәынҭра аҟынӡа макьана такәы бжьан. Ихьӡошәа аниба, амҩа ааихҵәаны, апҟызра ҳәа изышьҭаз (уи арҭ аҭыԥқәа бзианы идыруан), уаҩ дахьымныҟәоз аӡбаара ишьамхаҟынӡа дӡаагыланы, дырны анышәынҭраҿы дкылсит. Ишьҭахьҟа, алақәа реиԥш, аақ-саақҳәа ишуа ишишьҭац ишьҭан. Ихьӡаанӡа анышәынҭра дҭалеит. Зԥаҵақәа хыр-шаны збаҟа ду гылаз аӡәы ишьҭахь днеины да-агылеит. Исышьҭаланы арахь иҭаларымашь ҳәа рыбжьы ахьгоз ашҟа дшыԥшуаз, игәыла Џьоџьуа ишиҳәахьаз еиԥш, анышәынҭра иазааигәахо ианала-га, ахысра иаҟәыҵит. Ахысра акәым, ацәҳашҳарагьы иаҟәыҵит. Аԥсцәа «дырҿыхар» ҳәа ишәазшәа, рыб-жьы мыргаӡакәа анышәынҭра иавсны ицеит. Са-фарбеи аԥсцәеи иареи рымацара еизынхеит. Игәы змырҭынчуаз Сандреи Алиаси ахьимбоз акәын. Уажәымзар-уажәы иаап ҳәа дырзыԥшын. Рха-барк аныҟамлаӡа, издыруада саԥхьа иааны џьара рҽыԥхьакны игылан сара исзыԥшызар, иҳәан (анышәынҭра даара идун, Очамчыра инхоз агырцәа зегьы абраҟа акәын иахьыржуаз), деимдо дышҭаз, ахәада дхыҵны дахьынҭалаз, еилачы игылаз аԥсаҵ-лақәа рыҵаҟа ацәажәабжь иаҳаит. Иаҳаз агәра

Page 83: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

83

изымго илымҳа кыдҵаны дшыӡырҩуаз ашәаҳәабжь иаҳауа далагеит. Аԥсаҵлақәа рымахәқәа еилышь-ны еилагылаз дрылыԥшны егьибомызт. Ргәыла аҭакәажә леишәацәгьа ианлыршәоз ааигәалашәеит. Ихәыҷқәан. Лхаҵа дахьжыз анышәынҭра аԥхьа иҟаз адәаҟны иҩызцәа еизганы ампыл асра ианалагалак драцәҳауан, иԥсы шәыршәоит ҳәа. Аха ахәыҷқәа ампыл иамыслар руа иҟазма. Данырмыхәа, аԥсцәа ргыланы, ишәышьҭаланы, шәыкны шәырго иҟасҵоит ҳәа иршәаны иааҟәылхит. Идухаанӡа уи аҭакәажә иралҳәаз ҵабыргыз џьыршьон. Уи еиԥш ҟалашьа шамамыз шидыруазгьы, уаха ҵхыбжьон агәазы анышәынҭраҿы иааны ашәа зҳәо зусҭцәоу збоит ҳәа, дкылыԥш-кылӡырҩуа дышнеиуаз, аума ибеит. Аԥсы дахьжыз иханы ателевизор аркны иқәгыланы, «Одилиа» ҳәа ашәа ҳәо Сафарбеи иа-ниба, иџьеимшьаӡеит, ирҳәо иаҳахьан, агырцәа аԥсы даныржлак ауха инаркны иԥсхәы (40 мшы) ҟарҵаанӡа, иханы ателевизор наган иқәдыргылон, есуаха изадыркуан, шьыжьымҭан идырцәон. Иаана-гоз, аԥсы ихала дыҟоуп, игәы ҳарҿыӷьуам ҳәа акәын. Ус еиԥш ҟазҵо адунеи уакәшаргьы аӡә дубашам, аха агырцәа ахьыҟазаалакгьы ауаҩы иҟаимҵо ауп дара иҟарҵо ҳәа шырзырҳәо еиԥш, иибаз ихаҿы изаамго, акыраамҭа дгылан анышәынҭра дҭаԥшуан.

Сафарбеи знышәынҭраҿы днеиз, ҿыц иржыз аӡә иакәын. Ипатреҭ дуӡӡаны иҟаҵаны ихаҿы игылан. Зынӡа дыҷкәынӡан. «Фырхаҵарала зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз» ҳәа ипатреҭ аҵаҟа анбан дула иаҵаҩын.

…Ателевизор аус шауц иауан. Аԥсы иаԥхьа игылаз астол еиҵыхны, фатәыла-жәтәыла ихиан. Ивараҿы сахҭан еиқәаҵәала ихҟьаны, адиуан цырцыруа игы-лан. Урҭқәа зегьы ибла анырхига ашьҭахь, днеины адиуан днықәтәеит. Ак ила иабо дыҟамызт, гәыҵхас имаз Сандреи Алиаси ахьимбоз акәын. Уажәымзар-

Page 84: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

84

уажәы ишԥамааири ҳәа дшыԥшыз, аӡә ицәаара ибе-ит, дызҭагылаз анышәынҭрахь ихы рханы даауан. Алиаси Сандреи руаӡәы иакәыз џьишьан, дгәырӷьан диԥыларц дҩагылт, аха аҽаӡәызшәа аниба, иараз-нак апатреҭ ду икыдгылаз ашьҭахьҟа дааиасны иҽиҵәахит.

Ашәануа хылԥа ихаҵаны, иԥаҵақәа хьыдышь-шьы лахьхьынӡа иоушьҭны дааины анышәынҭра да-адгылт аӡәы.

Сафарбеи апатреҭ иҽаварԥсны дгылан, иԥсыԥҵә-ҟьа леигаҩеигомызт.

Агвардеец автомат икын.Сафарбеи итапанча иҭаз ҭирҟьахьан, иҭацәын.Агвардеец иавтомат иман анышәынҭра дҭам леит.

Ари аҿы Кавказаа зегьы еиԥшуп, абџьар шрыҟәну аԥсы ихагылаӡом, адәахьала аанда иаваиргылеит. Иџьыба иҭаз агранатқәагьы (хԥа ыҟан) иааҭганы ивараҿы игылаз аԥсаҵла ашьапаҿы ишьҭеиҵеит. Уи ашьҭахь ибжьы ныҵакны ак иҳәеит, аха Сафар-беи изеилымкааит. Днеины аԥсы дахьжыз днеиха-гылеит. Акыраамҭа ихы ларҟәны ҿыцха дыԥшуан. Нас ателевизор абжьы ирмаҷит. Дызхагылази иа-реи еишьцәоушәа акәын ишеиԥшыз. Сафарбеи дцәыҵыԥшны ибон иааз иҟаиҵақәоз зегьы. Агвар-деец фатәыла ихианы игылаз астол даахалан, аҩы хиҭәалеит. Днаҿыхәашәа иуит. «Сашьа Важьико, иуасҳәарызеи. Ушьа сымукәа сшаанымгыло уды-руаз». Иԥсы ҭаны иаԥхьа дгыланы диацәажәозшәа акәын ишиҳәоз. «Уаб Гаиоз саншьа иоуп. Ахаан ака-зы дысмыҳәацызт, уара уанаажуаз аҽны дсыҳәеит, аԥсыуак дыкны дысзаага, сыҷкәын деибганы дысзааугазшәа сыԥхьаӡоит, аԥсыуак ишьа илхны сылагылан дызжыр сҭахуп ҳәа. Усҟан сахьымӡеит. Аԥсыуак дыкны дизаазгарц сашьҭеижьҭеи иҵӡооз. Уаха дсымԥыхьашәеит, ҳешелон ԥжәаны, жәларык

Page 85: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

85

ҭарханы ицоз аԥсыуак даҳкит, ҩнык дыҩнакны дҳа-моуп. Иидыр уа ирҳәаны, алажә еиԥш инеигәыдҵан дыршьраны иҟан, аха данҳарҳәацәалак ашьҭахь сара дызгоит, иԥсы шҭоу дганы Важьико иаб дисҭоит ҳәа расҳәан, иақәшаҳаҭхеит. Умышҩынҩажәанӡа ҩымш роуп иаанхаз, уаҵәыҵәҟьа дганы дисҭоит. Имышҩынҩажәа аҽны ишьа иур, уаб игәы ирдоит. …Уаха ҵхыбжьон сааны, абас шыҟасҵаз уасымҳәар, сгәы иамуит. Суалԥшьа насыгӡеит, шьҭа сцоит… Угәы самгәӡыкәа сызцом, – иҳәан, иԥсы ҭаны иаԥхьа диазшәа иҽанаалаирҟә, дыхбыкьны анышәынҭра агәы дықәҳаит. Сафарбеи уи анышәынҭра данҭала нахыс игәеиҭеит абасҟак изырҳәоз арыжәтә шакәыз. Имариа соуазар ҳәа иҽырхианы дыԥшын. Анышәынҭра агәы данықәҳа, деиханы дгылаанӡа аанда ахьышәҭҳәа дынхыԥан, иавтомат аашьҭԥааны, «угыл, унапы уҩах!» ҳәа ибжьы ҿацаӡа дааихах-хит. Агвардеец аҿамҩа дахәаны дыҟаӡамызшәа, ашырҳәа дҩаҵҟьан (даншәа ихыԥсаазар акәхап), иавтомат дамҵасны имихырц далагеит. Аха ианизи-мымх, иаԥхьа игылаз астол днықәсын, ашампанҩы зҭаз баҭлыкак аақәиԥаан, ихы иарбаны игәыдиҵеит. Дласны даҵԥеит акәымзар, ихы иаахон. Агвардеец Сафарбеи сицәшәаны сыҩуеит ҳәагьы даламгеит. Даагьежьны аанда днадыххылан, даанк аамижәан, сисуеит ҳәа иҿанааиха, димеихсыр ада аанкыла-шьа шимамыз ибеит, аха димеихсит, иҭакны имоу дысирбаанӡа ҳәа иҽааникылт. Ианимуӡа дишь-клахысит. Ахы иҵнажәжәаз ахаҳәқәа ишьапы ианақәшәа, хыз џьишьан игәы имҟьеит, игәыдҵаны дшишьуаз агәра анига, инапқәа дырҩахан, ишьамхы арсны иаԥхьа дгылт, сумшьын ҳәа иҳәара далагеит.

– Уԥсы еиқәсырхарц уҭахызар, саԥхьа угыланы, иаанкыланы ишәымоу дахьыҟоу сугароуп, – иҳәеит Сафарбеи.

Page 86: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

86

– Сара санду даԥсыуоуп. Аԥсуаа бзиа избоит. Сара сабду сиааӡахьеит. Санхәыҷыз аԥсшәа сҳәон… – дқьақьо далагеит.

– Уқьақьара акгьы иухәаӡом, дахьыҟоу сугароуп, – иажәа аҟамчеиԥш ихиҟьеит.

Очамчыра ақалақь рацәак иацәыхарамкәа мхе-дрионаа иргаз ҩбаны еихагылоу трафеи ҩнык штабс иҟаҵаны ирыман. Уаҟа акәын даанкылан дахьрымаз. Алиаси Сандреи руаӡәы шиакәхоз идыруан Сафар-беи. Аҩны хыхьгьы ҵаҟагьы аруаа рыла иҭәын. Са-фарбеи итҟәаны иааигози иареи аштаб иазааигәахо ианалага, ауаа ршыкьбжьы раҳаит. Ирфон, иржәуан, қьаф руан, «Гаумарџьос чвени Сақарҭвело!» ҳәа иаҵаҳәҳәаны аныҳәаҿақәа ркуан. Рыбжьы кило-метрак уацәыхараны угылазаргьы иуаҳауан. Зны-зынлагьы иаадәылҵны, абарҵа иқәгыланы аҽҽаҳәа… рҽырданы, агәгәаҳәа ихысны, ихынҳәны иныҩналон. Сафарбеи дгәамҵуан. Арҭ зҿу ишаанӡа иаҟәымҵыр, иҭакны ирымаз алыцәҳа дрылганы игашьа имаӡамызт. Аха, Анцәа иџьшьаны, хәыҷы-хәыҷла рыбжьы маҷхо, ишнеиуаз еиқәтәеит. Иҭынчрахеит. Уи аҽны ирыԥшаазаап аҩны зтәыз иҳаԥшьа ахьыҵаз, рҽарҭеит, иҭадырцәит. Даргьы арцәеит. Рыхәда аб-жьы ада аҽа бжьык мго ианалага, Сафарбеи иус на-паиркит. Итҟәаны иааигоз иирҳәахьан, икны иааргаз аҩнду ашьҭахь игылаз ажәҭраҿы дҭакны дышрымаз. Ашҭа дуун, иҭацәын, уаҩԥсык дықәыршәымызт. Амшә иаҟараз ла дук фҩышәо ааҵра иаван. Хыхьтәи иршәны икарыжьуаз ахәашақәа ирышьҭазҭгьы акәхарын, арҭ инеиз зынӡагьы иамбаӡеит.

Сафарбеи агвардеец иаԥхьа дыргыланы, итапан-ча ишьҭахь ала ихы иадыргыланы, ашҭа дҭалеит. Ишиашаз ажәҭрахь идәықәлеит. Ахьчаҩ ацәа шииа-аиз мҩашьо, дхырсысуа иавтомат кны ажәҭра аԥхьа дгылан.

Page 87: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

87

– Анышәынҭраҿы изқәукыз еиԥш араҟагьы акы иақәыскуеит ҳәа уалагар сшумеигӡо удыруаз. Узыцә-нымхо згәы уагәӡуаз унаганы уивасҵоит. Шәыз-харагьы шәеибабап, шәызхарагьы шәеицәажәап, – ҳәа ахамышҭыхә дҭарԥшны акәын дышимаз. Ахьчаҩ дхырсысуашәа дыҟан, аха изааигәахо иа-налага, шәаа нгыл, шәызусҭцәада, шәнапы шәҩах иҳәан, иавтомат нарықәикит дҿабыӷӡа. Уеилагама уара. Сузымдырӡеи, Бесо соуп, иҳәеит, ус имҳәар изыԥшыз идыруан.

– Саҭамзааит. Илашьцоуп. Уара шуакәыз сзым-дырӡеит. Иааганы иҭашәкыз дырхәышәтәшәа ҟар-ҵеит. Данышәҭа ху уаҵәашьҭахь азы ами. Уанӡа егьимыхьыр ҟалап. Иԥсы шҭоу днаган, Важьико иаб дшәызиҭар, игәы имырдози (аригьы идыруазаарын уи дзырҭахыз). Дыжәгарц азыҳәан шәаама? Ашә шәзаасыртрыма? – иҳәеит ахьчаҩ.

Агвардеец иҿы акуа-иашьҭуа, иаарты ҳәа изымҳәо даналага, ишьҭахь ала ихы иадкылаз атапанча ихы абаҩ ианадыӷәӷәала, – иаарты ирласны, – иҳәеит.

Ашә аартны ишыныҩналаз еиԥш, Сафарбеи ахьчаҩ иавтомат ааицәганы, дааилишьын, деиқәԥах дҿаҳәаны днышьҭеиҵеит. Иҿгьы ишәаҳаит. Уи ашьҭахь Сафарбеи даақәҵәиаан, ашьа даганы, зхы ларханы ҿыцха ишьҭаз даарҳәны данынеиҿаԥш, Алиас иакәын. Дигәыдыҳәҳәаланы даашьҭихит. Ихала ишьапы дықәгыло дыҟамызт.

– Узгылоузеи, дышьҭыхны уиҵала, – ҳәа ам-хедрион даниқәыҳәҳәа, иаразнак диҩахан (ихы дизықәмыртәеит, уаҳа егьигымхеит) изқәа дықәи-ҵеит. Уаҳа дылбаамгаӡакәа, диҵаланы диааиргеит рыштаб аҟынӡа. Уи ашьҭахь амхедрион «иахьихәҭаз» дрышьҭит. Алиас ӷәӷәала дхәын, ишьагьы маҷымкәа илҵхьан, иҩныҟаҵәҟьа днамгаӡакәа, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭахь дыргеит. Ихәрақәа акыраамҭа

Page 88: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

88

имӷьеит. Мызкы инеиҳаны дышьҭан. Агылара да-хыццакуан. Аҳақьымцәа уӷәӷәахаанӡа уҟазароуп ҳәа доурыжь уамызт.

– Сҩызцәа ахы иаҿагылоуп, сара ара сабанӡашьҭа-заауеи, – иҳәон. Ихәрақәа раҵкыс изыцәгьахеит ае-шелон анԥыржәаз ауха аахыс Сандра дыбжьаӡны дшыҟаз аниаҳа.

Ахәышәтәырҭаҿы данышьҭаз иарҳәаӡомызт, ахьаа имаз аҽа хьаак изацлар ҳәа иацәшәаны. Ахәра хьамҭақәа дызрылҵуамызт. Ианцәгьараха, уара ухы ухьчеит, уҩыза дкажьны уцеит ҳәа иҿаҟны ирымҳәаргьы, ишьҭахь аҽԥныҳәа ирҭо иалагар ҳәа дахԥсаауа аҟынӡа днеиуан.

Ишԥаҟалеи, шәышԥеицәыӡи Сандреи уареи ҳәа аӡәы диазҵаар, аԥсра ахикаауан. Аха аӡәгьы диазҵааӡомызт – игәы шинархьуаз рдыруан азы. Иара ихаҭа дааҟәымҵӡа кәа уи дазхәыцуан реше-лон анԥжәа ашьҭахь. Мхедрионаа шрышьҭалаз аҩыџьагьы ирбеит, аӡәы амрагыларахь ала дыҩит, егьи амраҭашәарахь ала… Еиқәшәараны иахьыҟаз анышәынҭра аҟынӡа изымнаӡеит, рымҩа ркит. Аиҿахысра иалагеит. Сандра иаԥхьа Алиас дырхәит. Дкаҳаит. Уинахыс акгьы игәалашәаӡомызт, Сафарбеи ажәҭра ддәылганы диманы ддәықәлаанӡа. Убасҟан ауп далҵны данааԥш, Сандра уаҳа димбаӡеит. Дыр-шьу, дыкны дыргоу издырамызт.

Мчыбжьык цеит, ҩымчыбжьа цеит, Сандра иха-бар зхабару ҳәа ыҟаӡамкәа дыбжьаӡит. Иҩызцәа маӡала ицаны, инеиҭныԥсахло, ианыхәлалак авокзал акәша-мыкәша еимдон, иԥсыбаҩ ҳзыԥшаауазар, ма џьара дахьжу аабозар ҳәа. Аха иԥсыбаҩгьы рым беит, иԥсыжырҭагьы рымбеит. Ажәакала, дынкылахәаша дыӡит.

Сандра иԥшааразы иҩызцәа иааҟарымҵаз ҳәа егьы ҟам. Игәаӷьны рҿы иҭагӡаны ирызҳәомызт

Page 89: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

89

акәымзар, шьҭа уи деибганы дшыҟамыз аҟара рды-руан.

– Срыцҳашьаны исашәҳәом, аха уи шьҭа дшыҟам здыруеит. Ианамуӡах, ма иԥсыбаҩ соундаз, иԥсы ҭаны дызбазшәа сҟамлози, – ҳәа дгәаҟуа есымша иаб аштаб аҿы даауан, ихабарк саҳауазар ҳәа.

– Ҳамтәа-ҳамгыла ҳишьҭоуп. Дҳаԥшаауеит, – ҳәа, игәы ҳарӷәӷәоит ҳәа иаҿын иҩызцәа.

Ҽнак аштаб аҿы Мықәтәык даан (ааигәасигәа инха қәоз зегьы ирымдыруази Сандра дыбжьаӡны дшыҟаз), Мыркәылеи Мықәи рыбжьара иҟоу ачаирҭа ду аҿы ԥсыбаҩк шышьҭаз рбеит ҳәа реиҳәеит. Ари аҩыза шаараҳаз еиԥш, Сафарбеи хҩык аҷкәынцәа, Сандра иҩызцәа, амцаԥшьқәа дәықәырҵеит.

Иара уи аҽныҵәҟьа ирыԥшааит. Абнара зхыҵәа-хьаз ачаирҭа агәҭаны аԥсыбаҩ ахьышьҭаз рбеит, аха ауаҩы дидыруа ҳәа дыҟамызт, алашәага дырфахьан. Ибаҩқәа ракәын иаанханы иҟаз. Ишааихагылаз еиԥш, иара иакәымзар ҟалап рҳәеит. Ауаҩы инапы дакуа дыҟамызт, аха ихынҳәны имцакәа, аԥсыбаҩ нарҳәы-аарҳәуа ахәаԥшра иалагеит.

– Аурыла иара иоуп, – иҳәеит аӡәы.– Мап, Сандра ари иаҵкыс даун, – иҳәеит аҽаӡәы.– Ишәҳәогьы саҳауеит, аха ишьҭахьҟа шәнаԥши,

кьыс змаӡамкәа ишьҭоу ахахәы. Цқьа шәахәаԥши, Сандра рыцҳа ихахәы ахаҭа акәушәа збоит аԥш-шәалагьы арҳәышьалагьы, – иҳәеи ижәлантәык ирыцыз.

Икәшамыкәша ишеимдоз еимаахацлакык шы-шьҭаз рбеит.

– Сыла самжьазар, иара итәоуп. Аибашьра аԥхьа абри еиԥшҵәҟьа ашьаҵатәы ишьаны дызбахьан, – иҳәеит аҽа ӡәгьы.

Сандра иԥсыбаҩ злоудырша ҳәа ихахәи изеимаа-ки рыда, ицәеижь ҳәа акгьы аанханы иҟамызт.

Page 90: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

90

Ихахәи изеимааки рыла аԥсыбаҩ иара Сандра итәуп ҳәа агәра рган, ибаҩқәа акакала еизганы, иры-маны амҩа иқәлеит.

Сандра иаб, уи аҽны ицәа иалашәазшәа, иҷкәын иԥсы баҩ иҩызцәа иԥшааны ирыман ишаауаз, ашьыжьы мҭан игәы дамыртәакәа дшыҩагылаз еиԥш ажьирҭахь дцеит. (Аибашьра ианалага аахыс аҳаблаҿы еизарҭас иахьрымаз уаҟа заҵәык акәын.)

Сыҷкәын ихабар ҳәа аӡәы акы иҳәоны саҳауазар ҳәа Сандра иаб дахьнеиз, Мыркәылеи Мықәи рыбжьара ԥсыбаҩык рбан, Сафарбеи аҷкәын цәа дәықәиҵеит дызусҭоу аилкааразы ҳәа, ҩыџьа еид-гыланы ишеибырҳәоз иаҳаит. Ари еиԥш ажәабжь илымҳа ишааҭасыз еиԥш, аштаб ахь дцеит. Ауаа рацәаҩны игылан. Аӡәгьы ибжьы ҭганы дцәажәомызт. Инаскьеибаԥхьо, иааскьеибаԥхьо, гәыԥ-гәыԥла еид-гыланы ак ишалацәажәоз аниба, сара сҿы игәаӷьны ирзымҳәо цәгьарак раҳаны иҟоуп игәахәын, – шәанаџьалбеит, исцәышәҵәахуа ишәымоу сашәҳәа. Сшәыҳәоит сышәмыргәаҟын. Аԥсы гәырҩа аҵкыс, абза гәырҩа еицәоуп. Иԥсыбаҩ шәымбазар исцәышәымӡан. Зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз сыҷкәын дсырԥхашьаӡом. Сара сымацара соума уи еиԥш иақәшәахьоу, – иҳәеит Ҭарашь игәҭыха ҳәаны дшаал-галак еиԥш, Сандра иԥсыбаҩ рбеит, ирыманы иаауе-ит ҳәа Ҟанчобеи иеиҳәарц данналагоз аамҭазы, иара идагьы аҽаӡәы изыгәаӷьуамызт, уҷкәын иԥсыбаҩ ры-маны иаауеит, ҳәа аҳәара, Сандра иҩызцәа иԥсыбаҩ рыманы аштаб ашҭа иааҭалт.

Еизаны иҟаз зегьы ирзымчҳакәа аҵәыуара иала-геит.

Ҭарашь дшанханы даанхеит. Игәы хаҳәхазшәа лаӷыр ӡык ибла ихымлеит.

– Уҩызцәа аиашьара узыруит. Уааргеит… Уԥ сы ҭаны усзааргеит. Шьҭа ҳашьҭы аҩныҟа, уан «дур-

Page 91: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

91

гәырӷьап», дузыԥшижьҭеи иҵӡозеи. – Иԥсы ҭаны иаԥхьа дгылазшәа диацәажәон.

…Ауацәа, аҭынхацәа, аҩызцәа рхы-ргәы далхны дыржит.

Адырҩаҽны аштаб аҿы еиқәшәаз Сандра ргәы дыҵа ланы, иара итәада аҽакы иаламцәажәо ишгы-лаз, Сан дра игәыла Вахтанг ар ишьҭоушәа, дыҩны даарыдххы лан, – Сандра дымԥсӡеит, Сандра иԥсы ҭоуп! – ҳәа ҿааи ҭит.

– Иуҳәо закәызеи, уара. Иабааугеи? – рҳәан, ры-зегьы еибарҳәҳәеит.

– Иԥсы ҭоуп. Дранда абахҭа дҭакуп.– Иуазҳәада?– Улала дубама?– Агәра злаҳургозеи? – рҳәан, икәшаны дыркит.– Иԥсы ҭоуп, Дранда дҭакуп ҳәа еиҭашәасҳәоит,

сыгәра жәгозар.Абри еиԥш изқәымгәыӷӡоз анреиҳәа, бжаҩык

гәыр ӷьаны игәыдкылар ҭа рибаҭомызт… аҽа џьоукы игәра рзы мго, рҽаанкылан игылан, акгьы ахымҳәааӡакәа, инеиҿаԥшы-ааиҿаԥшуа. Вахтанг илаҿызымҭқәаз ирыҵи дырааит игәра шырым-газ аҟара, аха сыгәра зышәымгозеи ҳәа раҳәара изыгәаӷьуамызт, дахьагыруаз азы лахә лахәы ишихәаԥшуаз ибон.

…Ииашахаҭангьы, Вахтанг дагыруан… Иаб Џьоџьуа Сардион иуаҩыбжара дахымсыцызт Аҟәа-раш ақыҭан нхара ҳәа данаауаз Гыртәылантәи. Цәгьарак ҟаҵаны даама, акәымзаргьы уаа бзиақәоуп, срыланхоит ҳәа даа ма, аӡәгьы акгьы издырӡомызт. Дагыруоуп, аха дыб зиоуп ҳәа акәын Аҟәарашаа ишизырҳәоз. Дымҿыуасҭан, деихауасҭан, хаҳәуасҭан (алуҟаҵаҩын), инапы ахьы аԥссоит ҳәа ззырҳәоз иакәын. Дыхгәарԥхаҩын, иҟазшьа бзиан, инаала-шьа бзиан. Шәара, аԥсуаа, сыҽшәеиԥшыстәуеит

Page 92: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

92

ҳәа имӡакәа иҳәон. Зегьы дыр гәаԥ хон. Аҭаацәара бзиа иалҵыз Ҟаитанԥҳаки иареи еигәаԥхеибашьан, еибагеит. Инхеит-инҵит, аҭаацәара бзиа рылҵит. Ҵеизаҵәык (Вахтанг) дырхылҵит. Сандреи Вахтан-ги еигәылацәан, еицрызҳаит. Рабацәа реиԥш даргьы бзиа еибабон. Ашкол еицҭалеит, иагьеицалгеит. Иан лбызшәеиԥш идыруан иаб ибызшәагьы. Уара уа-гыруоуп, сара саԥсыуоуп ҳәа Сандреи иареи знык-гьы еибырымҳәацызт. Вахтанг абжьаратә школ да-налга, Аҟәатәи амилициа школ дҭалеит. Дшаалгаз еиԥш, Дранда абахҭаҿы милиционерс аусура дала-геит. Иани иаби даара ирҭахын ааигәа дрымазарц. Рыҩнынтәи Дранданӡа рацәак бжьаӡамызт (Кәыдры нырцә-аарцә акәын). Шьыжьымҭан иусурахь дцон, ахәылбыҽха иҩныҟа даауан. Иани иаби аҩны дыҟоуп ҳәа акәын ишырыԥхьаӡоз. Рыҷкәын заҵәы изы ргәы ҭынчын.

…Ақырҭцәа аибашьра ианалагаз аҽны инаркны рхы шымҩаԥыргоз… Дамеи даныржуаз ахлымӡаах Вахтанг илала иибаз ашьҭахь, уара узусҭада ҳәа аӡәы диазҵаар, сқырҭуоуп ҳәа аҳәара аԥсра ахикаауан.

Ақырҭцәа рнапаҵаҟа аус иуан. Даҟәыҵны дцарц далагеит, аха уара уқырҭуоуп, ужәлар кажь-ны аԥсуаа рахь уиасырц уҭахума. Ари чарҳәароуп. Иуанаҳажьуам. Уанца аҽныҵәҟьа уани уаби аага-ны иҭаҳкуеит ҳәа ддыршәеит. Иудаҳҵо ҟауҵар, уани уаби рахь иануҭаху уҳашьҭлоит. Ҳара иаҳҭаху ажәабжьқәагьы ҳзааугалоит, учынқәагьы еиҳараҳкуеит ҳәа дыршәаны дааныркылеит.

Иҩныҟа дцацыԥхьаӡа бзиа иибоз, иаргьы бзиа дызбоз иҩызцәа рҽицәыхарартәуашәа ибо дала-геит. Изааигәаз иҩызак дҭахан, даныржуаз аҽны иҵәыуара ҳәа дахьнеиз, аӡәык-ҩыџьак рыда рхы иҩахан иҿамԥшит. «Смаакәа сыԥсында», иҳәо аҟынӡа днеин, дықәҵны дцеит. Улахь уџьымшь ыҟоуп ҳәа

Page 93: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

93

аӡәгьы иеимҳәеит. Ажәала сыршьыр еиӷьын, ажәада сыршьит ҳәа игәы каҳаны иҩны дахьнеиз, иабгьы иара иаҵкыс деицәаны дибеит. Аибашьра иалагаз иара иакәызшәа акәын ихы кны дыштәаз.

Вахтанг аӡәгьы илаимҵоз, данхәыҷыз аахыс дыз-цыз, уахык иара иҿы, адырҩауха егьи иҿы зшьапқәа еилаԥсаны ишьҭалоз, бзиа иибоз Сандра дыбжьаӡит ҳәа аниаҳа, убасҟак ихьааигеит, аиашьа гәакьа ди-ман дицәыӡызшәа дҟалеит. Уаанӡа еиԥш лассы-лас-сы иҩныҟа ацара даҟәыҵит. Арахь ҳара ҳашҟа усс иумоузеи, зымаҵ ууа рҿы уҟаз ҳәа иааиҿагыланы иарҳәар ҳәа дшәон. Уигьы ԥимкит, егьигьы ԥимкит, Сандра хабарда дыбжьаӡит ҳәа аниаҳанахыс, есуаха дцон иҩныҟа, Сандра ихабар ҟалахьазар еилыскаа-уеит ҳәа, аха макьаназ егьыҟам ҳәа аниаҳалак игәы каҳаны дхынҳәуан.

Ҽнак хәҩык КГБ аусзуҩцәа Аҟәантәи иааит Дран-да абахҭаҿы. Уи аҽны Вахтанг инапы ианын иа-ауаз асасцәа агәашә рзаартны рҭажьлара, абахҭа аиҳабы икабинет адкыларҭа аҟынӡа рнагара. Иу-алыз неигӡеит. «Асасцәа» аиҳаб иахь иҩналеит. Идәылҵаанӡа адкыларҭаҿы ишьапы дықәгыланы дыԥшызар акәын. Идәылҵны ианцоз рмашьына ахь-гылаз аҟынӡа инаскьеигар акәын. Акыраамҭа еид-халеит… ианыҩналоз ашә ыҵраашәа иаанхан, ака-бинет аҩнуҵҟа еибырҳәоз зегьыҵәҟьа иаҳауамызт, аха рыбжьқәа анаадухалак, ирҳәоз иаҳауан. Иааҟәымҵӡакәа излацәажәоз Дранда иҭакны иры-маз аԥсуааи Гәдоуҭа итҟәаны ирымаз ақырҭцәеи реиҭныԥсахлара азҵаара акәын. Усҟан жәиԥшьҩык аԥсуаа ҭакын (иахьаԥсыуааз мацаразы). Аӡәы ида егьырҭ аиҭныԥсахларазы, иара уи аҽныҵәҟьа абахҭа иҭганы ргаразы еиқәшаҳаҭхеит.

Иаанрыжьыз аӡәы изы аимак роуит.– Қарҭаа уи дыршьыр зырымуа узымдырӡои?

Page 94: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

94

– Исыздырӡом. Қарҭҟа дыргарц аума?– Уи уара иудыруазарц ухәҭан, Қырҭтәыла аи-

устициа аминистр иҷкәын аԥсуаа дыкны дышры-моу. Ара ишәыз ҭакуи иареи реиҭныԥсахларазы аиҿцәажәарақәа цоит.

– Уи иакәымзар амуа иҟоума, аҽа аԥсыуаки иа-реи еиҭнырыԥсахлааит. Аԥс уаа заҟаҩ рҭаху аан-кыланы иҳамоуп. Ари иԥсы шҭоу дрыҭатәым. Иҟаиҵахьоу Қарҭаа ирзымдырӡои, хаҭала сара ирасымҳәахьеи. Бџьарлеи, џьаԥҳанылеи, аруаа ры-леи иҭәны Қарҭынтәи иаауаз аешелон, жәларык Очамчыратәи адәыӷба станциаҿы иҭазырхаз. Ас еиԥш ҟазҵаз иахьанӡагьы иԥсы зҭоузеи? – ҳәа абахҭа аиҳабы ацәажәара дшаҿыз, ателефон абжьы геит. Акыраамҭа илымҳа иадкыланы икын, игәы иахәаз акы шиаҳаз мҩашьо. – Еилыскааит ишәҳәаз, – иҳәан, ателефон аҭыԥаҿы инықәиҵан, – ҳаимак Қарҭаа аҭыԥ иқәырҵеит. Шьҭа даҳҭахӡам, ишәҭаху изыжәу ҳәа сарҳәеит, – ҳәа иаахиркәшеит.

– Егьырҭ 14-ҩык ҳара иаагоит. Уи уара дузаанҳажь-уеит. Қарҭаа ишуарҳәаз ҟаҵа. Ҽнакгьы даанумкы-лан, – ҳәа иарҳәеит Аҟәантәи иааз анцоз.

– Ишәҳәаз саҳаит, аха Ашықәс ҿыц аҟынӡа ҩымш роуп иаанхаз. Аныҳәа ҳхысаанӡа снапы сзыҟьашьуам. Сара анцәа дхасҵоит. Адырҩаҽнынӡа иԥсы ҭазааит, – ҳәа реиҳәеит.

Арҭқәа зегьы илымҳала ианиаҳа, гәҩарас икит Сандра ишихгамыз. Аеше лон ԥыржәеижьҭеи, иара ара дҭакны дрымоуижьҭеи аамҭақәа еиқәшәоит, ҩымз нҭакәкәа инҵәеит… Зегьы ааидкыланы даназхәыц, агәра игеит Сандра иԥсы шҭаз. Хы-брак аҵаҟа аҩыџьагь шыҟаз. Иахьа уажәраанӡа абра дышҭакыз шԥасзеилымкааи ҳәа ихы дазгәаауан. Уи ауха иаашаанӡа хәыцырҭас имаз уи акәын (ауха иара дҷаԥшьаҩын). Ахәыцра дахәланахаланы дшамаз даа-

Page 95: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

95

унажьуан, Сандра абра дҭакызҭгьы, знык иадамхар-гьы дсымбарц залшомызт ҳәа агәыҩбара иоуа дала-геит. Аҵыхәтәантәи амзазы Вахтанг инапы ианыз абаандаҩцәа ршьапеиҵыхразы аамҭала ркамерақәа ирыҭганы рырныҟәара акәын. Сандра дрылазҭгьы димбо дыҟазма? Дышхәыцуаз, ихы тҟәацуашәа ибо даналага, дызцәымшәакәа зыгәра ганы игәҭыхақәа зеиҳәоз аӡә диман, рысменақәа есқьаангьы еиқәшәон. Уи инапы ианыз ашьра зқәыз абаандаҩ цәа ркамера ахьчара акәын. Ашарԥазы дыԥшааны диазҵааит.

– Уи ара сара скамераҿы дҭакуп, Сандра ихьӡуп, Баӷ ба ижәлоуп. Очамчыра аешелон ԥызжәаз, ҳажәлар нзырҵәаз иоуп. Уажәраанӡагьы даагатәӡамызт… Ашықәс ҿыц аныҳәа ашьҭахь ака-мера дааҭганы «доуҳашьҭуеит»… Дыбнарҵоит… Нас иҟало умдыруеи? Дыбналаны дышцоз иеихсны дыр-шьит ахьӡырҵоит, – ҳәа иеиҳәеит. Вахтанг Сандреи иареи шеиҩызцәаз зынӡа инимырԥшит. Ирласны сысмена нҵәандаз ҳәа дышгәаҟуаз иршеит. Сме-нак аус аниулак ашьҭахь ҩаха-ҩымш ихы дақәиҭын. Ашьыжьымҭан асааҭ жәба рзы, исмена шаанҵәаз еиԥш, аштаб ахь деихеит. Амҩа дахьынӡақәыз дааҟәымҵӡакәа дзызхәыцуаз Сандра абахҭа ҭгашьас имоузеи ҳәа акәын. Уи аҵкысгьы еицәаны иԥхьаӡон иҩызцәа аибашьцәа ргәы дырзалымхуа аштаб аҿы ишгылоу даарылагыланы иацы ижәжыз Сандра иԥсы ҭоуп ҳәа раҳәара. Зегьы ргәы шны иҟоуп, иԥсы шҭаз удыруазҭгьы, уажәраанӡа изҳаумҳәазеи ҳәа сыгәра рымгар ишԥаҟасҵари ҳәа акәын.

Азныказы игәра рзымгазаргьы, иԥсы ҭихуа да-налага, еиҳараҩык ииҳәаз агәра ргеит. Уара уҿала ироуҳәароуп… иургәырӷьароуп иани иаби, рҳәан, дрыманы ицеит.

Иацы иџьабо игылаз Сандра иҩызцәа, иахьа игәырӷьо ашҭа ианҭала, ан дхагахазшәа, аҳәҳәара

Page 96: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

96

далагеит. Агәылацәа еизеит, быҷкәын иԥсы ҭоуп, иҟабҵо закәызеи ҳәа дыркит, ан лаԥхьа дара ираҳахьан. Дырзаанкыломызт. Дҵәыуарызу, дгәырӷьарызу лзымдыруа аҩны дыҩнан, дырзеиқәкуамызт.

Аб Ҭарашь ауха анышәынҭра дшадтәалаз ирше-ит. Ианшагьы, аҩныҟа дымцаӡакәа, анышәынҭра ахкаара далагеит. Иеиха аанкылан, игәи илаӷырӡи еилаҵәо, сара сзыҳәан акәымзи изаурсшаз ҳәа аҵәҩан аҵәырԥссара дшаҿыз, Сандра иҩызцәа Вах-танг раԥхьа дыргылан иааид гылт.

« – Уҩызцәа роуп, Сандра, исыцхраарц иааит», – ҳәа ихы ҩышьҭыхны данынарҿаԥш, иааџьеишьеит, бзиа ууит ҳәа сарҳәарц иааима, игәырӷьаҵәа ишԥасыхәаԥшуеи иҳәан.

Сандра иԥсы ҭоуп ҳәа аҳәашьа иақәымшәо, уара иҳәа, сара исызҳәом ҳәа ишеидгылаз, Ҟанчобеи да-акылсын, – аҷкәынцәа агәырӷьаҿҳәаша иузааргаз рҿы ирзарҳәом. Сандра иԥсы ҭоуп. Узҿу уаҟәыҵ. Аҩныҟа ҳашьҭы, ачара ууроуп, – ҳәа иаахыҵәҵәа-хыҵәҵәаны иеиҳәеит.

– Ииашоума, уара, ишәҳәо? – агәра изымго анышәынҭра давагьежьуан, иҟаиҵара изымдыруа.

– Ииашоуп. Иԥсы ҭоуп, – рҳәеит рызегьы.– Дшәыцны дзымаазеи? Дабаҟоу? Шәара шәхаҭа

дыжәбама? – ихы инапахьы иааиган, дрызҵааит аҵыхәтәан.

– Дранда абахҭаҿы даанкыланы дрымоуп. Де-ибгоуп. Сыгәра жәга, –иҳәеит Вахтанг, дрылҵны дааины, раԥхьа даагылан. Ҭарашь уи ихы инаркны ишьапаҟынӡа лаԥшыла дааимидеит. Вахтанг Дран-да абахҭаҿы аус шиуаз идыруан. Уи адагьы, Сан-дреи иареи заҟа еизааигәаз, ианхәыҷқәаз аахыс ишеицрызҳауаз ааигәалаиршәан, ихы ааишьшьын, дигәыдиҳәҳәалт. Уи иаанагоз, сыҷкәын дшеибгоу

Page 97: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

97

шьҭа агәра згоит ҳәа акәын. Заҟа дгәырӷьаз ажәала иҳәомызт, аха ихы-иҿы ианыԥшуан.

– Ачара шәзызуроуп ари еиԥш агәырӷьаҿҳәаша сзаазгаз… Шәнеила, аҵәҩанқәа, иҵәрыԥссаны ишьҭасҵаз нарсны сшәыхьӡоит, – иҳәан, акакала иаашьҭыхуа анышәынҭра иакәыршаны арсра дала-геит.

Иҟаиҵоз уамашәа ибаны ихәаԥшуан, аха игәаӷьны аӡәгьы ажәак изиамҳәеит Ҟанчобеи ида.

– Ҭарашь узҿу закәызеи, знышәынҭра хукаа-уа дызусҭада, уҷкәын иԥсы ҭоуп ҳәа иҩызцәа ааны иуарҳәеит. Уқәгыланы укәашар ухәҭоуп, – иҳәеит Ҟанчобеи.

– Уара иузымдыруа аӡәы инышәынҭра хыска-ауеит ҳәа уаҿуп, – рҳәан игәылацәагьы, иҟаиҵо шхәарҭам иаҳәара иалагеит.

– Ишәҳәо саҳауеит, аха ари арыцҳагьы ани аби дырхымшеи. Сара сгәаҟуа сыҷкәын сышишьҭаз еиԥш акәхап уи иабгьы иҷкәын дышишьҭоу. Сара стәы дызбеит. Уара сара устәӡам ҳәа дыҵыхны дка-сыжьрыма. Уи еиԥш аҟаҵара гәнаҳароуп… сыгәгьы иауам. Уи дызтәу ахәашақәа, изусҭцәазаалакгьы, рҭагылазаашьа шыҟоу сара ишыздыруа еиԥш, шәара анцәа ишәимырдырааит. Агәаҟра атәы здыруа, агәаҟра зхызгахьоу иоуп. Сеилышәкаап ҳәа сгәы иаанагоит. Дызтәу ааны дыҵх ны дыргаанӡа, да-хьамадоу сахылаԥшуеит, – ҳәа ацәажәара дшаҿыз, ԥшатлакәшәа акы аакылҟьан, иԥнаҵәаз ҵламахәык анышәынҭра агәы инықәҳаит. Днеины иаашьҭыхны адәныҟа икаиршәит.

…Сафарбеи иҩызцәеи иареи Сандра иԥсы шҭоу иани иаби ираҳәаны, ирыдныҳәаланы, иргәырӷьаны ишаа хынҳәыз еиԥш, абахҭа дышҭыргаша аплан аҟаҵара нападыркит.

Page 98: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

98

Ашықәс ҿыц аҟынӡа ҩымш ракәын иаанхоз. Абри аамҭа иалагӡаны данрызҭымга, Сандра изыԥшыз рдыр уан.

Уахаҵәҟьа ҳцаны абахҭа ҳақәлоит зҳәаз ҟалеит. Урҭ амцаԥшь иаҩызаз ракәын. Сафарбеи дақәшаҳаҭхар ишнаҵҟьара игылан.

– Шәаангыл, шәмыццакын. ццакрыла абаа хыла ҳагәыдлар, иаргьы дҭадырхоит, ҳаргьы ҳҭадырхоит. Вахтанг планк ҟаҵаны имоуп. Ҳазыӡырҩып, – иҳәеит Сафарбеи.

Изгәамԥхақәаз ҟалеит. Агыруа игәра злаагарызеи ҳәа инцәыҵарҳәа-аацәыҵарҳәеит.

Вахтанг иаҳаит изырҳәаз, аха имаҳаӡазшәа ҟаиҵеит. Сандра дҭакны дышрымаз анеиликаа на-хыс (иацоуп ианидырыз), иҭыгашьас иҟаҵатәузеи ҳәа азхәыцра даҿуп.

Сгәы иаанагогьы абри ауп ҳәа реиҳәеит. Сафар-беи дақәшаҳаҭхеит. Уаанӡа изызмырҳарц зҭахызгьы акы рзахымҳәааит.

Ашықәс ҿыц ауха Вахтанг исмена акәын. Уи ауха Сандра абахҭа дҭыргарц рыӡбеит. Уи ада аҽа вари-антк ыҟаӡамызт.

…Ашықәс ҿыц аухаз Сандра абахҭа дышҭыргаша рыӡбеит. Уи ауха хырԥашьа амаӡамызт. Ирцәахыԥар Сандра уаҳа дырбараны иҟамызт.

Ицараны иҟаз ԥшьҩык, ак иацәымшәоз аилҟьақәа, аштаб аҿы еиқәшәеит ахәылбыҽха. Ҳаргьы ҳамцар аауам ҳәа ирацәаҩны игылт, аха Сафарбеи имуит. Ажәыларахь акәӡам ҳахьцо, заҟа ҳмаҷу еиӷьуп асеиԥш иҟоу аоперациақәа раан ҳәа, рыгәшәамшәа ҳәаны.

…Амш ахәларахь ахы археит, шьҭа амҩа ҳақәлап ҳәа, Сафарбеи раԥхьа дгыланы аштаб иахьаадәылҵыз, Алиас даарыдгылт иавтомат кны.

– Алиас, изқәукызеи? – ҳәа ҿааиҭит, Сафар-беи дшааибаз еиԥш. Ицараны иҟаз аҷкәынцәа зе-

Page 99: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

99

гьы иреиҳәахьан ҳашцо шәҿы иааҭыхны Алиас иашәымҳәан ҳәа. Идыруан, иаҳар сшәыцымцар зуам ҳәа дшалагоз.

– Шәара шәахьцо саргьы сцоит, – иҳәеит Алиас, дрыцымцар шимуаз иблақәа ирхубаало.

– Иулшом. Ухәрақәа цқьа имӷьаӡацт. Ӡынроуп. Аӡы иҭалан иртәуп. Макьаназ угәабзиара уеиҷаҳа. Ҳаԥхьаҟа ишьҭоу рацәоуп. Уӷәӷәахароуп. Суҳәоит, ухынҳәы, – ҳәа Сафарбеи даара иҽишәеит, аха Алиас имуит. Имуҵәҟьеит.

Алиас дыӷәӷәамхацызт. Днагылаагыло дҟала хьан, аха ахара дцо дҟамлацызт. Иҩны дыҟан. Сҩыз цәа санбарывагыло ҳәа акәын хәыцырҭас имаз.

Сандра иԥсы ҭоуп, Дранда абахҭа дҭакуп ҳәа аниаҳа, ахәшәқәа рыдкылара аҵкыс иаҳаз дахәшәтәызшәа ихы ибо далагеит. Абахҭа иҭгаразы иҟаҵатәузеи ҳәа дшыгәаҭеиуаз, уаха Сафарбеи аҷкәынцәа иман дцоит абах ҭа дақәларц ҳәа иаҳаит. Ишааиаҳаз еиԥш, абаҩ ҷыда илалазшәа, ажәжәаҳәа иҽааилеиҳәан, иавтомат аашьҭыхны дандәықәла, иан дихьынҳаланы дылкит, аарлаҳәа уԥсы ҭоуп, уабацои ҳәа. – Сан, сбыҳәоит, бысцәымшәан, уажәыҵәҟьа саауеит, – ҳәа налаҳәан, ддәылҟьан, аштаб ахь дцеит.

…Асааҭ ааба рзы, абнара инылс-аалсуа, Кәыдры аԥшаҳәаҟынӡа инеит. Ҽынла аӡы еиҳа имаҷызшәа акәын ишырбоз, аха ианааҽԥынгыла, аӡы ишац-лаз рбеит. Ашьыбжьышьҭахь ашьхарахь ақәа ӷәӷәа леизаап. Шьапыла арра шәарҭахеит. Аԥсны аӡқәа зегь раҵкыс Кәыдры аӷьуп. Ушьамхы ианахыс, ушьапы уқәнаҟьоит. Еицыз рахьтә аӡы иацәшәоз уаҩ дрыламызт, Кәыдры ахықәтәқәан. Аԥсыӡ еиԥш иӡсон, аха уажәыҵәҟьа излаҟаз ала шьапыла арра даара игәаӷьылацәан. Насгьы, ҵхы лашьцан, уаамҵанарсыргьы, аԥан убаӡомызт. Ажәакала, ҽыла ада нырцәҟа аршьа амамызт.

Page 100: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

100

Кәыдры ахи аҵыхәеи рыбжьара цҳазаҵәык акәын ихыз, уахь ала рымҩа кын, аӷацәа рнапаҿы иҟан.

– Шәаасзыԥшы, макьана аамҭа ҳамоуп, с-Ҟәараса аазгароуп. Уи ҳарнагароуп, – иҳәан, Сафарбеи дце-ит. Дымнеиц шырҳәоз, иҽы иҵԥраауа даакылсит, ашаха ау иманы. – Аҵыхәа ҵлак иадышәҳәала, сара ахы сыманы сыруеит. Саргьы уаҟа ҵлак ашьапы иадҿасҳәалоит. Шәацәымшәан, ӷба ша-хак аҟара иӷәӷәоуп, шәызегьы шәахьынҳаларгьы шәааннакылоит, – иҳәан, аӡы дҭаларц данаахықәгы-ла, ҵа змам тыша дук иҭаԥшызшәа иџыџӡа иаан-гылеит иҽы. – Ушәама с-Ҟәараса, – иҳәан, аӷәра днахаахан, ԥхьаҟа имцар ада шамуа аирдырит, аха иадырсызшәа, иахьаангылаз иахымсит.

– Уаха иҟоуҵо уамашәа избоит, аӷәра арҵысыха сахьугӡомызт, ухы сырхарц ахьысҭахыз еилукаазшәа уацныҟәон. Иухьзеи? – ҳәа ауаҩԥсы диацәажәозшәа, ахы ишьшьит, ахәда ишьшьит, иргәыбзыӷит, аха акгьы аднамкылт, аӷәра ааимнахын, ашьҭахьҟа ихынҳәырц иалагеит.

– Хаала иуҭахымзар, абас ауп, – иҳәан, игәы ааилашәан, аҟамчы акәым, ишьхәаҵәҟьагьы аи-мырбацызт, апҟацаҳәа аҟамчы ахиҟьеит. Аӷәра аҿеикшеит. Ишьхәа аирбеит. Ари еиԥш иара иҟынтәи иамбаӡацызт. Ишимуаз анаба, игәааны, ишьҭууаа иԥан, ихышхыҵәаны ицоз аҽналанаршәын, ацәқәырԥақәеи иареи еиқәԥо, Сафарбеи даманы аӡы инхылеит.

Еибыҳәан иҟан, Сафарбеи нырцәҟа дышныр-лак еиԥш, ашаха ахы ианкны иигоз ҵлак ашьапы инадҳәаланы, даннаха-аахалак, аҵыхәа аҵысра иа-лагон. Уи иаанагоз нырцә-аарцәи ашаха рыбжьдоуп. Шәҭаланы арра шәалага ҳәа акәын.

Рызегьы ашаха аҵыхәа кны игылан, аха иҵысӡомызт ашаха.

Page 101: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

101

Аӡгьы ӷәӷәоуп, аха иаргьы арашь иаҩызоу аҽыӷәӷәа дақәтәоуп, абасҟак аамҭа дышԥазмыри ҳәа хьаас иркит.

...Аҽыҭҟьа дақәтәоуп, аха аӡгьы ӷәӷәахеит, ҳааижьҭеи иацымлозар иагхаӡом. Арра изыцә-гьахазар ҟалап рҳәан, хьаас иҟарҵо иалагеит, Са-фарбеи акыраамҭа дыррак анримҭаӡа.

Ииашаҵәҟьаны, нырцәҟа арра даара изыцәгьа-хеит. Аӡыгәҭаҟынӡа днеихьан еиԥш зегьы ирхыԥо иаауаз ацәқәырԥа исын, акәадырҭа дахԥааны да-гарц егьааигымхеит. Уи ашьҭахь иҽы ҩынтә ашьа-пы иқәнаҟьеит, аха аҽамҭакәа ахы аннакылт. Даа-ра имчымхараны далахеит азныказы, аха Ҟәараса еимгәҳәаны даманы ирсит.

Ашаха аҵыхәаҿы игылаз иҟарҵара рзымдыруа, ргәы каҳаны ишыҟаз, ашахабжьында «акәашара» иалагазшәа, аҵыхәа шьҭыԥо, ишьҭасуа иана-лага игәырӷьеит. Али-ԥси рыбжьара аӡәаӡәала иахьынҳаланы нырцәҟа ирит.

Аамҭа ықәҳа ацара иаҿын, аӡы арра ирацәаны ирцәақәӡит. Ҩ-сааҭк иреиҳамкәа ирзаанхеит Вах-танги дареи еибыҳәаны иахьыҟаз аҭыԥ аҟынӡа ане-иразы. Аӡнырцәынтәи Дранда абахҭа аҟынӡа ԥшь-километрак бжьан. Сааҭк алагьы уанӡа инеиуан, аха амҩа анылашьа рымаӡамызт, аӡәы имбаргьы аҽаӡәы имбарц залшомызт, еиԥхьытта амҩа ианыз ауаа рацәан.

Вахтанги дареи еицәажәаны излаҟаз ала, аӡы ишырлак еиԥш, абахҭа армарахь ала иавсны ицоз акәараҷҷа Кәыдры аӡиас иахьалалоз рыԥшаар акәын. Кәараҷҷан, аҩарӡы еизнагоз абжьааԥны иҭабон. Абас акәын ишыҟаз, аха аӡиасқәа раҵкыс иҵаулан. Ауаҩы наӡааӡа дҭагылар дҭыҳәҳәомызт. Аҵыхәа ахькылсуа рзыԥшаар, иҭаланы, уаҩы имбаӡакәа, абахҭа авараҟны икылсуан. Акыр иад-

Page 102: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

102

халазаргьы, ирыԥшааит Кәыдры аҟәара ахықәан акылсырҭа. Маӷи-қәыци ахаԥаны ҳәа иҟамыз иарба-ныз, аха ак усыс иҟамҵаӡакәа иҭалан, идәықәлеит. Вахтанггьы хыма-ԥсыма инап ианыз аус анагӡара даҿын. Сафарбеирааи иареи еибыҳәаны излаҟаз ала, уахатәи ашықәс ҿыц иалагӡаны Сандра абахҭа данрызҭымга, адырҩаҽны иаашар дыршьраны дшыҟаз илымҳала иаҳахьан. «Уи аԥсуа, иаанкыла-ны ишәымоу, Ашықәс ҿыц дахьышәмыгӡан, уаҵәы шәилгароуп. Уажәы ижәбама уи шыҟарҵо, ухы уақәиҭуп ҳәа абахҭа дыҭганы доушәыжь, нас дыбна-ланы дцарц даҿын ҳәа, алажәеиԥш инеигәыдҵаны дышәшьуеит», – ҳәа Аҟәантәи адырра ҳауит, аха ҳара ҳахристианцәоуп, ауаҩ ишьа ҳалагыланы ашықәс ҿыц ҳзаԥылом, анцәа игәамԥхо ҳзыҟаҵом. Ашықәс ҿыц ашьҭахь мышкы ихҳарҵрым ҳәа абахҭа аиҳабацәа ишеибырҳәоз иаҳахьан. Планс ирымаз, Ашықәс ҿыц аухазы, аҟарулцәеи реиҳабыс иаанхази рҭакзыԥхықәрақәоу рхазыршҭыша аҟынӡа арыжәтә дыржәны, абахҭа иақәлан Сандра дыҭганы игара акәын. Вахтанг иакәын дҵас измаз. Ашьыжьымҭан иҩны дааны, ҽык иазышьҭымхуа арыжәтәи афатәи дрыҵаланы, уахатәи аныҳәа ду сара счеиџьыкала иҟасҵоит ҳәа иманы ашьыбжьышьҭахь абахҭаҿы даннеи, игәырӷьеит, уахатәи аныҳәа ачеи аколбаси рыла ҳаԥылома ҳәа гәалаҟара змаӡамкәа итәаз.

Аиҳабыра рыкрыфарҭаҿы аҟарулцәа ашә аартны ирҭеит игәырӷьаҵәа, Ашықәс ҿыц егьырҭ аныҳәақәа иреи ԥшума, иахьақәнагоу аброуп, рҳәан.

Вахтанг игәы ацԥыҳәан астол архиара дшаҿыз, иҩызцәа ааҩналан, абахҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Габрон Боџьгәуа иоуп уахатәи аҵх аҭакԥхықәра зыдҵаны иаҳ заанрыжьыз ҳәа аниарҳәа, игәалаҟазаара бжьы-сит. Уи абахҭа аиҳабацәа зегьы раҵкыс еицәоу ҳәа изышьҭаз иакәын. Абахҭа аиҳабы иаҵкыс иара

Page 103: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

103

ицәшәон. Ауаҩра захьӡу илаӡамызт. Еиҳабгьы еиҵыбгьы аӡәгьы игәра игомызт. Дподполковни-кын, заҟа шықәса ҵуаз, аха аполковникра ирҭомызт. Зегьы ирдыруан аполковникра иоур, абахҭа аиҳабра шигоз. Аӡәымзар-аӡәы игәра игомызт. Ҩ-лак иман, ишыхәыҷқәаз Германиантәи иааиган, иааӡеит.

Убарҭ заҵәык роуп зыгәра иго. Иара иеиԥшҵәҟьа даргьы рлеишәа цәгьоуп. Иааигәамԥхаз баандаҩык дҟалар, деимыжәжәа дыдиргон.

Ишьҭахьҟагьы абла имоуп ҳәа ишьҭан. Иара ивга-ны акы узыҟаҵомызт, ак узҳәомызт.

Уахатәи ҳапланқәа зегьы бжьысит, ишԥаҟаҳҵари ҳәа дыгәжәажәо дышгылаз, аҟарулцәа реиҳабы ака-питан дааҩналан, уаха аподполковник дҟалаӡом. Қарҭынтәи сасцәа дуқәак изаан, Аҟәаҟа иманы дцоит. Иара ихаҭыԥан уахатәи аҭакԥхықәра сара снапы ианырҵеит, иҳәеит. Вахтанг дгәырӷьаҵәа дааҟалеит, акапитан уаҩы еизадак иакәын. Акры-фареи акрыжәреи бзиа ибон. Дшааҩналаз еиԥш, илаԥш зегьы астол иқәгылаз афатәқәа рахь ице-ит. Иԥсы қымқымуа дааҟалеит. – Афырхаҵа уара, икылуҳәаӡеит, уахатәи Ашықәс ҿыц иара ишахәҭоу ҳаԥылароуп. Ари уан илыршыз ауатка акәхап, аҽакы иалаҩашьаӡом, – аҵәца азна ҭаҭәаны дышгылаз, аҟыԥҳәа идәықәиҵеит.

– Еиӷьу ԥшаашьа амаӡам, – иҳәан, ирҽхәеит. – Асааҭ жәаҩа рыбжазы ҳтәаратәы иҟауҵароуп. Жәаҩа анбаҟалои ҳәа ҳаԥшӡом. Ашықәс ҿыц ҳҭәы-ҳаԥха ҳаԥылароуп, – иҳәан, ашәишәи амахақәа дрылаԥшын, еиҳаз акы аарылхны, аӷәырҿҳәа иҿҳәо, ддәылҵны дцеит.

Вахтанг иеиҳабы иажәа ҩбеитәуазма, атәарада ус амамкәа, астол ирхиеит ианиеиҳәаз аамҭазы.

Ауха абахҭа зегьы ахьчаразы иаанхаз ракәын. Егьырҭ зегьы Ашықәс ҿыц рыҩнқәа рҿы иаԥыларц

Page 104: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

104

ицеит, аиҳабацәагьы мап рцәырымкит. Аибашь-ра иалагазар аахыс абахҭа аӡәгьы дақәымлацызт. Аԥсуаа уи еиԥш ргәаӷьуеит ҳәа рыгәгьы иаанамга-цызт. Ҳара ҳазгәаӷьуада ҳәа акәын ишыҟаз.

Вахтанг зегь раҵкыс дзыцәшәоз, абахҭа иакәыр-шаз абаагәара иахагылоу авишкақәа ирықәгыланы изыхьчоз ракәын. Ауаҩ иакәым, аҵысҵәҟьагьы ахдырԥраауамызт. Кәакьҭацыԥхьаӡа иқәгылан, иан-шалак рҩызцәа ааины ирыԥсахаанӡа. Урҭ ықәганы астол ахь ианизаамга, Сафарбеираа, абаагәара ихыҵны, абахҭа аҩныҵҟа шьапҭаргылашьа рыма-ӡамызт. Астол ахь иаазгоит ҳәа далагар, акапитан имур ҳәа дшәон. Сафарбеираа акәараҷҷа иҭагыланыв иԥшын, аҟарулцәа рҭыԥқәа ааныжьны имцакәа, хҭырҳәҳәашьа рымаӡамызт. Арӷьарахьтә акәакьҭа ала акәын акәараҷҷа абахҭа иавсны ишцоз.

Сафарбеираа рҽырхианы игылан, авишка шааҭа-цәыз еиԥш, аӡәи-аӡәи еихагыло, еиҵагыло ишхала-ша рыӡ бахьан.

Асааҭ 12 рыбжа ҟалаанӡа изымчҳаит Вахтанг, жәеиза рзы аишәа рхианы далгеит. Дшалгаз акапи-тан иеиҳәарц дцеит, инатәаны акрыфаразы астол хианы ишгылоу. Акабинет дшыныҩналаз еиԥш, ашьарақәа рыӡра уахьӡама, афырхаҵа уара, иҳәан, дазхәыцуа диазҭгьы акәхап, ашыр ҳәа дҩагылан, иҿынеихеит.

Акапитан афатә еилихӡомызт, имҵоуҵалакгьы ифон, ашьышь ажьы ӡны еиӷьишьоз фатәы ыҟамызт. Ашьышь имҵаҵаны, унаԥшны уаахьаԥшаанӡа, абаҩ-қәа ахьхьаҳәа астол иқәԥсон.

Вахтанг заа артәара зыҟаиҵаз, акапитан жәаҩанӡа изхара ифарц, изхара ижәырц азы акәын. Уи изха-ра анифалак, изхара анижәлак, еиужьны ацәажәара далагон, иажәа нҵәаӡомызт, заҟаҩ ҭеикхьаз, заҟаҩ ҭижьхьаз рыжәлақәа, рыхьыӡқәа рҳәара далагон. Урҭ

Page 105: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

105

рзы заҟа ҳамҭа иоухьазгьы ихаиршҭуамызт. «Бзиа-рас» имаз, илсуа даналагалак, ирласны ацәа дагон.

Астол хиоуп ҳәа шиаҳаз еиԥш (икабинет ашә-гьы аимыркӡеит), ачеиџьыка ҟаҵаны иахьры-маз дааҩналан, аханы дтәеит. Шәтәа ҳәа ҳара ианбаҳаиҳәои ҳәа, абахҭа аҩныҵҟатәи ахьчаҩцәа рҿы аӡы аауа игылан иԥшын.

– Шәызгылоузеи, шәааи, шәтәа, – иҳәеит изхара анифа ашьҭахь. Ишааиҳәаз еиԥш, инеины итәеит.

Акапитан ажәжәаҳәа акрыфара, акрыжәра дшаҿыц даҿын. Инапаҵаҟа аус зуеи иареи идтәаланы аҩыжәра ишаҿу, Габрон Боџьгәуа даакылҟьан дақәикыр ҳәа дшәон.

Уи ус акырынтә иҟаиҵахьан, уаха сҟалаӡом, сара Қарҭҟа ма Аҟәаҟа цатәыс исымоуп ҳәа инапаҵаҟа аус зуаз иреиҳәон, аусура мшы шаанҵәалак еиԥш дцон. Анцәа иџьшьоуп, уи аџьныш уаха дахьыҟамло ҳәа ргәы рҭынчны, ианырҭахыз ишьҭаланы ицәон, аҽа џьоукы, маӡала арыжәтә ыжәуа иштәаз даакылҟьон дрымбаӡакәа. Иақәикыз, аума дақәиршәон, бжаҩык рмаҵура иамихуан, бжаҩык аамҭала иҭеикқәозгьы ҟалон. Уи убасҟак дмыждан, абахҭа аиҳабыҵәҟьагьы дизыӡырыҩуамызт, ииҭахыз ҟаиҵон.

Акапитан ар ишьҭоушәа акәын арыжәтә шижәуаз. Вахтанг уи арыжәтә дшышьҭнахыз аниба, дгәыр-ӷьеит. – Ҳара зегьы ҳгәырӷьо ҳтәоуп, ҳаԥхьа ашықәс ҿыц ҳаԥылоит, ҳҩызцәа авишкақәа ирықәгылоуп илаҳәны, ирыцҳауп, иааганы акака надҳаркыр, Ашықәс ҿыц иақәныҳәап, акгьы инаҳарцҳап, жәабаҟа минуҭ рыҩнуҵҟала иҟаларызеи? – аҭакс исаҳарызеи ҳәа игәы аҭра иҭамгыло дыштәаз, ака-питан дизҵааит.

Акапитан деилашәеит, иҿы иҭамӡо иҭеиҵахьаз мҟаҟаӡакәа илбааидан, диқәҟааит, иаанагозеи жәа-минуҭк рыла иҟаларызеи ҳәа исоуҳәаз ҳәа.

Page 106: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

106

Вахтанг дныҵыкка дцеит, уахатәи ҳусқәа зегьы еиқәы бга ицеит ҳәа.

– Жәа-минуҭк ракәым, шықәсык дуӡӡа ҳвишкақәа ҟар улцәада иаанхаргьы, игәаӷьны ҳбаагәара ахыҵра аӡәыр игәаӷьраны иҟоума. Аԥсуаа шәаргәындақәа роу ма ҳзы цәшәо. Шәааи ҳәа раҳәа, сара азин рысҭоит. Ҳара ҳтәқәа рами, Ашықәс ҿыц иҳацаԥылааит.

Вахтанг дышьхныԥсылан дышгылаз, акапитан ас аниҳәа, иԥсы ҭалт, ажәҩан ахь дзымԥрит, уаҳа егьигымхеит, уаҳа ажәак ахымҳәааӡакәа ддәылҵны дцан, авишка қәа ирықәгылаз аԥшьҩыкгьы астол ахь – ачеиџьыкахь иааиразы азин шыҟаиҵаз реиҳәан, илбааганы, иманы абахҭа аҩнуҵҟа дыҩналт.

Вахтанг егьилдмыршазар ҟалап ҳәа, Сафарбеи-раа ирцәымӷханы акәараҷҷа ахьҭа иҭаԥсуа ишгы-лаз, авишкақәа ҭацәит. Ианылбаазгьы рымбеит. Игәырӷьеит. Акәараҷҷа иҭыҵны, абаагәара аанда рҽадырԥсыланы игылеит. Шьҭа иззыԥшыз Вахтанг адырра анриҭоз акәын.

Еибыҳәаны излаҟаз ала, асааҭ 12 акара-акараҳәа абжьы ангалак ашьҭахь, хәбаҟа минуҭ анҵлак, хынтә еиқәырццакны ахысыбжь гар акәын, Кәыдрыҟа ахы рханы.

Акапитан аҟарулцәагьы рыԥсаҭа кыдиҵеит. Вах-танг хәынтә еиҵа мкәа диныҳәеит, аҵәца анаа қәих-лак иажәа нҵәо мызт.

Вахтанг Сафарбеираа адырра риҭараны да ны-ҟаз аамҭа иахыԥо иалагеит, аха акапитан дахьынӡа-цәажәоз Вахтанг днаидҵны ашә аҟынӡа днеир иу-амызт (дымтәаӡакәа дырхгылан, рымаҵ иуан). Сафарбеираагьы, иззыԥшыз аамҭа ианахыԥа, иҟарҵара рзымдыруа иаанхеит.

Вахтанг акапитан иҽицәганы, адәахьы дәылҵшьа изыҟамҵо, дҳәыҵәыҳәыҵәуа дихагылан. Ака-питан ижәны дшыҟазгьы, Вахтанг игәы иҭакны

Page 107: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

107

имаз иҵидыраазшәа, ажәак ааиҳәацыԥхьаӡа, сара сиашаӡами ҳәа дизҵаауан... Аҵыхәтәан, уааины абра усыдтәалароуп, умтәаӡакәа ушьапы уқәгылоуп ҳәа дааисны дикит.

– Сшәыдтәалоит, аха аԥхьа, шәара ишыҟашәҵаз еиԥш саргьы сындәылҵны Ашықәс ҿыц иаҳзааз сшеигәырӷьаз ала знызаҵәык ахысра азин сышәҭа, – ҳәа диҳәеит.

– Азин уара ишԥоусымҭои, абри еиԥш ачеиџьыка ду ҟаҵаны ҳахазыртәыз, знык акәым, хынтәгьы ухыс, – иҳәеит акапитан.

Вахтанг дындәылҵны хынтә еиқәырццакны дхы-сит.

Сафарбеираа ргәы цаны ишгылаз, аҵх лашьца ахқәа жжа-жжаӡа иалҟьаны Кәыдрыҟа рхы рханы ианца, «шәеиха»ҳәа, Вахтанг адырра шриҭаз рды-рит.

Аҟарулцәа, рвишкақәа рхашҭит. Акапитан, абах-ҭаҿы акәӡамкәа, чарак аҿы ашьаԥа еиҵҳәаны та-мадас дтәа зшәа, ибжьы ихарззала, аныҳәаҿақәа аԥҵо дыштәаз, Сафарбеи иҩызцәеи иареи бџьарла еиқәных иааҩнаххит.

Шәымҵысын ҳәа Сафарбеи ибжьы ҿацаӡа игаз, рызегьы ықәырчаԥазшәа иахьтәаз иаанхеит, ҽыр-ҵысы рыма ӡамкәа.

Афы рылалазшәа, иаарылагьежьын, рыг-рҿы иамыр ҳәаӡакәа, рабџьар аарымырхын, еиқәԥах еиқә ҿаҳәа, еихаҿаҳәа инышьҭарҵан, акамерақәа рцаԥ хақәа зкыз (Вахтанг блаҵыхәала Сафарбеи ди-ирбахьан) драԥцаны, дганы Сандра даадәылырган, иара дныҩнацаланы ашә неихадыркит. Сандра даашьҭԥааны, ахьшь акәҷышь анаго еиԥш, ицәеи ибаҩи еикәыршаны, ԥсымышьҭыгак анирҭоз аҵкыс ианирымҭаз еиҳан, дласкәантраӡа дыҟан, дрыман ицеит.

Page 108: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

108

...Ашараамҭа ааигәахахьан, аха аҵх макьана илашьцан. Уаԥхьа игылоу дубо иҟамлацызт Сафар-беираа Сандра дрыманы аԥшаҳәаҿы ианааиз, аха изхәарҭоузеи, ашаха зыдҿаҳәалаз аҵлеи, аҽы ахьа-анрыжьызи аҭыԥ иақәымшәеит, зны алада иавнаге-ит, аҽазны аҩада иагеит... Акыраамҭа ирзымԥшааит. Шахада аӡы иҭалар, арсшьа амаӡамызт. Сафарбеи ибжьы ныҵакны, иҽы ахьӡ ҳәаны иазҿиҭуан. Аха аҭак ҟанаҵомызт. Ҟәараса уабаҟоу ҳәа ибжьы анаа-иргалак, иага ицәыхараны иҟазаргьы, ибжьы алымҳа иҭасыр, иҩны ишҟа иаауан.

Еибарыҩуа аҟәара ишаваз ахысбыжьқәа ааҩуа иа-лагеит абахҭахьынтәи. Ахысбыжьқәа зегьы раԥхьа изаҳаз Вахтанг иоуп. Игәы нҭыԥсааит, аподполков-ник Боџьгәуа, ахәылбыҽха џьара сымцар ҟалаӡом, уаха сзааӡом ҳәа ҳаҳәаны, ԥаса ишыҟаиҵалац еиԥш, ҳусушьа ибарц даазар? Абахҭа ашә ҟьаҟьаӡа иаар-тны, ахьшьцәа зегьы еиқәԥах иҿаҳәаны, Сандра икамераҿы ишҭакыз ибазар, деиламгакәа дыҟам. Хымԥада, иара иоуп иҳашьҭалаз, илақәагьы рыб-жьы гошәа саҳауеит... Абри агәаанагара иоуз игәаҿы иаанымкылакәа, Алиасраа иреиҳәеит.

Вахтанг ишиҳәаз еиԥшҵәҟьа иҟалеит. Боџьгәуа ауха, иҟалаз ицәа иалашәазшәа, ҵхыбжьон дгыланы ргәаҭаразы дахьааиз, уаҵәы иаадәылганы иршьра-ны иҟаз аԥсуа партизан икамераҿы иусуцәа зегьы рылақәа ҭызза ишҭакыз аниба, ихәаабжьы абахҭа аҭӡамцқәа арҵысуан.

Аԥсуаа абахҭа иақәланы, аусзуҩцәа ҿаҳәаны инышьҭаҵаны, ашьра зқәыз апартизан дыҭганы дшыргаз... иара даныҟамыз ауха ишақәшәаз, Аҟәа инаркны Қарҭынӡа адырра риҭеит иара ишихарам.

Ахысбыжьқәеи алақәа рыбжьи иаҳа-иаҳа Кәыдры аԥшаҳәа иазааигәахо иалагеит.

Аӡы ҳагар еиҳа еиӷьуп, Боџьгәуа афашист ҳимԥы-хьашәар аҵкыс ҳәа Вахтанг дықәгьежьаауа дышгы-

Page 109: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

109

лаз, Ҟәараса ашьапышьҭабжьы раҳаит, дара ԥшаауа иахь цоз акәӡамкәа, зынӡа аҽаџьара. Рызегьы ааҳәын, уахь еихеит.

Алиас иаразнак идырит иара шакәыз, иагәамԥхоз акы анабалак, аԥхьатәи ашьапала изықәгылаз ад-гьыл асра иалагон: зынӡа игәааны ианыҟаз, анышә иҵнарԥԥоз ҩба-ҳԥа метра иашьҭуан.

– Узыргәамҵызеи, с-Ҟәараса? – иҳәан, днеины данаадгыла, еиҳагьы анышә аҵырппра иалагеит. Ахы шьышьуа, дацәажәо даналага, ԥыҭрак ашьҭахь аҽеиқәнакит.

Ҳанаауаз еиԥш, ацәқәырԥақәа еиҩырффаны ҳзырру уареи сареи ҳәа дацәажәо, аӡы ашҟа ахы сыр-хоит ҳәа далагеит, аха иамуит. Иаахьаҳәын, ахы наи-днакшалеит игәааны, ак ианаҳәарц аҭахызшәа.

Ҟәараса ахьаанрыжьыз иҟан, аӷәра ԥҵәаны сцоит ҳәагьы иаламгеит. Ашаха зыдҳәалаз аҵла иаԥырымҵит.

Алақәа рыбжьы иааигәаны иааҩуа иалагеит. – Шәалга, шәымԥшын, ашаха арахь шәызларыз

наҟгьы шәырнагоит. – Акоманда риҭеит Саафарбеи иҩызцәа.

– Аӡы еиҳагьы иацлеит, ҽыла узмырыр алшоит, ҳара уҳацца, – ҳәа иҳәара иалагеит. «Сара с-Ҟәараса алақәа ирызныжьны уаала ҳәа аума ишәҳәарц ишәҭаху. Уи еиԥш ҟалашьа амаӡам». Иаартны имҳәеит, аха иԥсеиԥш иибоз иҽы иахьлакгьы, иазы-рулакгьы, ара иааныжь, уара уҳацца ҳәа иарҳәазшәа аҟынӡа ишигәамԥхаз дирдырит.

– Шәара аамҭа мгакәа ашахахь шәеиха, арахь шәшырнагаз еиԥш, наҟгьы уи шәырнагароуп. Сар-гьы сырызгаз сырнагоит, – иҳәеит.

– Араҵәҟьа ҭалашьа амаӡам, аӡы зегьы џьарак аҽеиз ганы, аиаҳәа иҭоушәа еизыҵәан, ииаҩырны ицоит, – ҳәа Алиас Сафарбеи иҳәара далагеит дҭамларц.

Page 110: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

110

– Шәара шәымгылан, шәца, сара аӡы аҽеиҩшаны иахьцо здыруеит, уахь сцоит. Араҟа аҵкыс акырӡа еиӷьуп уаҟа арра... нырцә шәысзыԥшыз, – иҳәан, иҽы днақәтәаны аԥшаҳәа днавалеит, амшын ахь ихы рханы.

Аҷкәынцәа арахь арра аҵкыс акырӡа ирзыцәгьа-хеит нырцәҟа арра, аха рыгәқәа еибарӷәӷәо, ашаха иахьын ҳаланы, рызегьы еибганы ирит.

Аӡбаа рхьыкәкәа, рызегь аҟәараҿы игылан, Са-фарбеи изыԥшны.

– Сандра, уаб знык «уижхьан». Уажәы уҳаман ҳанкыл сыр иҟаиҵарызеи. Ачара ду иуеит... Ахьҭа ҳалаланы ҳаҟоуп, уаткала иҳалаҳцароуп.

– Ҳҽаҳҭароуп. – Жәыларак ҟаланы ҳадмыргылозар, уахыки

ҽнаки ҳамгылаӡакәа, ажәра ҳаҿызаауеит.Ахьҭа иакуан, рымаҭәа рцәа иадшәылон

(иадҵаалан), аха лафла иаҳхаагоит ҳәа иаҿын. Уажәымзар-уажәы иҽыҭоуӷан дақәтәаны дырны

даа ҳадгылоит ҳәа ишыԥшыз, иҟьаҟьаӡа ишеит. Аха макьана Сафарбеи ихабар ыҟамызт.

Асҟак аамҭа дахьаанхаз рцәымӷхо иалагеит. Аӡы ианыр ашьҭахьгьы ахысбжьқәа гон нырцәҟа. Вах-танг агәаҟра даҿын: «Шәара дшәыздырӡом аподпол-ковник Боџьгәуа. Уи длоуп. Уи дназышьҭалаз аӡәы деиб ганы доуимышьҭыц. Сафарбеи дихьӡазар?» Иҿы изарҳәомызт, аха игәы иҭиҳәаауан.

Амра гыло иалагеит. Ариабжьарак амра рымбаӡа-цызт, амш еихашьшьы иҟан, уи аҽны амра каххаа иԥхеит.

Ари абзиара иатәуп, амра шаабаз еиԥш, иаргьы даабоит ҳәа ишыԥшыз, иҽы кьыркьыруа аԥшаҳәа иаваланы ишаауаз рбеит, Сафарбеи дақәтәаӡамкәа. Акьыркьырра иааҟәыҵны, аӡахьы иԥшуа ашақә асра иалагон. Зны-зынла инаҵҟьан иҩны ишааиуаз, адыхҳәа иаангыланы ашьҭахьҟа аԥшра иалагон, ахы

Page 111: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

111

шьҭыхны, алымҳацәқәа кьакьаӡа ирҩаханы иакын, агыгшәыг ираԥцаны иаар цозшәа. Уамашәа ибаны рызегьгьы шазыԥшуаз (азнык азы ирывҟьаны ицоз џьыршьон, аашьа злаҟаз ала), ирывымсыкәа иаан-гылт. Агәы ҭыҵны ицарашәа аҭҳара-ҭҳараҳәа еису-ан. Алақәа узырхыԥшыломызт, амца рыхҟьа ицон. Аӷәра иаҿаз аҟҿы-ҟҿыҳәа иацҳауан. Рызегьы шан-ханы иахәаԥшуан, рцәа иалашәеит Сафарбеи ак ши-хьыз аҟара, аха рхы агәра рзаргомызт, акәадыр ама-ха ашьа иаганы ишыҟаз рбаанӡа.

Аҽы зцәажәаӡомызт акәымзар, иҟалаз аҳәарц аҭахын, ихәцәырххон, ахы кыднаҟьарц иаҿызшәа, аффаҳәа иа ҟьон.

Амра ҵлакашәара ихалеит. Агәра днаргеит, аӡы арсра дшаҿыз иеихсра ишалагаз. Акәадыр амаха иахьшьыз ашьа адагьы, ахҭыԥқәа анпыҟҟала иа-нын. Вахтанг аханатә аахыс дзыцәшәоз ҟалеит, аподполковник, ала шлам длоуп ҳәа дзышьҭаз, Сандра абахҭа дыҭганы аҟәара аҟынӡа ҳааӡаанӡа дҳашьҭалазаап, Сафарбеи дихьӡазаап, аӡы аҽеих-шаны иахьиасуа аҟынӡа днаӡаанӡа. Иеихсра иа-лагеит, иаргьы иргәыдиҵо даламгакәа дыҟам, акыраамҭа дырҿагылан дышреихсуаз ҩашьомызт, аҽы ирнагаз иавтомат акәадыр амаха иахшьын, па-тронак ҭаӡамкәа иҭацәын.

...Ақыҭауаа зегьы еизаны, Сандра дрыманы иан-баауеи ҳәа иԥшын.

Рызегьы рыхқәа рыкәанаҽит иҟалаз анрарҳәа, ҩнаҭа цыԥхьаӡа еиҭах алыԥсаа дроузшәа аҟынӡа иар гәырҩеит. Аҷкәынцәа ракәым, абыргцәагьы рлабақәа кыдыхны, Кәыдры аҟәара иавалеит. Иааҟарымҵаз егьыҟам, хәыц-хәыц аԥшаҳәа еимыр-деит, аха дырзымԥшааит.

...Мышкы иарымҳәеит, ҩымш иарымҳәеит Сафар-беи иаб Даҭа. Аха ианбанӡаиарымҳәарыз, Ҟанчобеи

Page 112: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

112

иакәын усгьы, ахлымӡаах ззыҟалаз рыгәшәамшәа раҳәашьа згәаӷьуаз.

Ҟанчобеи Даҭа иашҭа дахьынҭалаз даангылт, аԥшәма, аҩныҟа ҳнеироуп ҳәа имахәар кны дихо да-лагеит, аха сыццакуеит иҳәан, имуит.

Угылашьа сгәаԥхом, акыр ҟалама иҳәан, имахәар аауишьҭит.

Ҟанчобеи днахыкәша-аахыкәшо иацәажәара да-лагеит. Даараӡа изыцәгьахеит уҷкәын ихьыз абри ауп ҳәа иаҳәара.

Аибашьраҿы иҭахахьоу Аҟәарашаа рыҷкәынцәа рабацәа ҿырԥшыс иааганы ацәажәара даналага, аб иаразнак ицәа иалашәеит иҷкәынзаҵәы Сафарбеи дшеибгамыз. – Ҟанчобеи, суҳәоит, смыргәаҟкәа исаҳәа иҟалаз! Дҭахазар, иԥсадгьыл азы дҭахеит... Ауаҩ имыхьыц смыхьит. Сҿахысшьааӡом. Суҳәоит, макьана иан илҳарҳарым. Агәакра лымами, иаха иаалызцәырҵын, ашарԥазынӡа доунамыжьит. Иахатәи аҵх лхылгоит ҳәа сыҟамызт. Аарлаҳәа лылацәақәа анеиқәлыԥсаз ашьыжьымҭан ауп.

Аҵыхәтәан, Ҟанчобеи иҟалаз шыҟалаз зегьы аах-тны иеиҳәеит.

Ԥыҭраамҭак ҿымҭӡакәа дгылан. Ашьҭахь Ҟанчо-беи днеиҿаԥшын, сымцахә ыцәеит уҳәама... Хәымш ҵуеит уҳәеит иҟалеижьҭеи. Иахьанӡа зегьы исцәыр-ҵәахуазарын... Алиас дабаҟоу, иҳәан, луанытә дқәыԥсычҳан, инаҩыс ишьҭаз асаҟәа днықәтәеит, ихы икәаҽны.

Ҟанчобеи аҭак ҟаимҵеит, избан акәзар, ииашаҵә-ҟьа ны Даҭа Алиас иҷкәын иеиԥш диԥхьаӡон. Уи зе-гьы ирдыруан. Иацы уи ихьыз иеиҳәар, аҽа гәырҩак изацлон. Алиас макьана иԥсы ҭан, аха даанхоит ҳәа дызбаз аӡәы игәы изаанаргомызт.

Иацы Аалӡга анырцә, Очамчыра уахьналало, аӷацәеи дареи еиҿаҳаит, ашацкыразы. Хыԥхьаӡарала

Page 113: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

113

Аҟәара шаа раҵкыс акырӡа еиҳан, аибашьыга техни-калагьы еиқәшәан. Ажәылараан зегь раԥхьа Али-ас дырхәит. Ахы иқәшәаз дканажьит, дзымҵысуа дышьҭанакит. Атанк ишьҭаланы ишаауаз ианааиха-гыла, иӷрысны имцакәа иџыџӡа иаангылан, ҩыџьа ааҭыҵны ишьапқәа адаҷ рхаҵаны, дықәшьуа дама-ны иандәықәлоз аамҭаз, иҩызцәа ашьҭалеит еиха-ны.

Абас ауп, аԥсуаа ишышәзаауа, шәызегьы шәы-шьацә шәанкны ҳаԥсадгьыл шәалҳарӡаауеит ҳәа еибарҳәҳәо, Алиас дықәшьуа дрыманы идәықәлеит. Сандра ибеит, ахыкәалаа еиԥш дласны, хшаҭарак ҟамҵаӡакәа атанк днаԥыххылан, ирмазеины ии-кыз аԥжәага аҵаижьит, ахаҳәырдыдыра дрыманы инаақәлоз аамҭазы. Аԥжәага аус ауит, иаҵаԥжәан, алҩа нахыббит. Аекипаж рахьынтәгьы аӡә деибга-ны дызҭымҵит, ахаан рыбжьы адгьыл иқәмыҩуа инҭабыл ицеит.

Сандра Алиас дышьҭысхуеит ҳәа далагеит, аха еибгаз баҩык имамызт, деидкыланы дизышьҭых-уамызт. Ишьапахьы диасны дышьҭихырц дана-лагалак, имаҟҿаҳәара ҩахыс дхьышьшьы дцон. Иҩызцәа рыхьӡ ҳәаны дыҳәҳәон, шәсыцхраа, схала дысзышьҭыхуам ҳәа. Аха урҭгьы аӷа иҿагылан аи-башьра иаҿын, аӡәы идамхаргьы ишьҭахьҟа ахьаҵра акәым, ахьаԥшрагьы дахьӡомызт.

Атанк аныԥжәа ашьҭахь ақәылаҩцәа ргәы цазар акәхап, шьҭахьҟа ацара иалагеит. Убасҟан рызегьы еибарыҩны иаакылсын, деидкылан даашьҭырхит. Аԥхьа ҵәҟьа иԥсы ҭаны даанхоит ҳәа аӡәгьы игәы из-аанаргомызт. Иԥсы ахәага шҭаз анырба, игәырӷьеит. Сандра иакәмызҭгьы, ахаҳәрдыдыра дрыманы иқәлар, шәы-ԥсык ихазаргьы ԥсык изаанхомызт. Ахәшәтәырҭа ҳәа ирымаз, ахәцәа аԥхьатәи ацхы-раара ахьрырҭоз, ақыҭаҿтәи амедпункт ахь дрыма-

Page 114: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

114

ны идәықәлеит, рнапы дықәҵаны. Уажәы-уажәы иааҭгыланы ихәаԥшуан, иԥсыԥ алагаҩагара аангы-лар ҳәа ицәшәаны.

Аҳақьымцәа ахьыҟаз Тҟәарчал акәын. Машьына-қәак ззаанханы измаз гылан, иҭарҭәоз абылтәы рымаӡамызт. Тракторла акәын ахәцәа зларгоз.

Ахдырра аниоуаз аҵкыс ианицәыӡуаз еиҳан. Ибаҩқәа еилаԥыххаа иҟан, аха урҭ раҵкыс еицәаз ибӷашшара ԥҵәаны иахьыҟаз акәын. Тҟәарчалтәи аҳақьымцәа шимыхәоз анырба, Алиас иҩызцәа ирарҳәеит Москвантәи аҳақьымцәа, аԥышәа ду змоу, ахәцәа ацхыраара рыҭаразы Гагра иааны иҟоуп. Ауаҩы дирҵысуа, днеига-ааиго дшааҟалалак еиԥш, даашьҭԥааны Гагратәи ахәшәтәырҭахь дгатәуп ҳәа. Ус егьыҟарҵеит маҷӡак аҟара даалҵны дшааҟалаз еиԥш. Москвантәи ацхырааразы иааны иҟаз аҳақьымцәа дышнаргаз еиԥш ихәшәтәра нап адыркит. Акыраамҭа иџьаршьон абасҟак ирҟәаҟәаз дызлеиқәхазеи ҳәа, ирылшоз ак игырмыжьит, аха арала уаҳа акгьы ҳихәом, амедицинатә диагностика ахьыҟам ахәшәтәырҭаҿы ишьапы даҳзықәыргылом, уажәыҵәҟьа иҭагылазаашьа злаҟоу ала Москваҟа амҩа иқәгалара ауртә еиԥш аабоит. Иахьа, уаҵәы иахымгакәа дыжәгароуп ҳәа рарҳәеит.

Гагратәи аҳақьымцәа ишрарҳәаз еиԥш, аухаҵәҟьа дрыманы Москваҟа амҩа иқәлеит. Амҩа даара дыԥнашәеит, даргәамҵит, аха ичҳаит.

...Акыраамҭаӡа днаҳәыр ҟамло, дааҳәыр амуа, иҽмыр-ҵысӡакәа игәы ҩарханы аҭуан даҵаԥшуан, Москватәи ахәшәтәырҭа ду ЦИТО ҳәа иахьашьҭоу дышьҭан.

Илаԥыҵәҵәаны иҟаз ибаҩқәа еиԥыршьит, еиқәдыр шәеит, имаха-ишьаха аус аируа дҟарҵеит. Аха даара ирцәыцәгьахаз (аҳақьымцәагьы иар-гьы) ибӷа ауп. Ҩыџьаран иԥҵәан. Изныкымкәа,

Page 115: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

115

иҩынтәымкәа иԥҟа тә хеит. Аҳақьымцәа иџьаршьон Алиас ачҳара имаз... Зныкгьы иқьыбжьы димырҳаит.

Аԥхьаҵәҟьа дшыҟаз ала, аҳақьымцәа даара иацәшәон ибӷа дызхымгыло, ишьапы дықәгыло дзыҟамлар ҳәа. Аха иара имаз ачҳара ӷәӷәеи аҳа-қьымцәа рҟазареи ирыбзоураны ибӷагьы ԥасеиԥш ииашахеит, ишьапгьы дацәымшәо, иқәиргыло дала-геит.

Алиас знык ихала дгыло, ибӷа дацәымшәо дны-ҟәо даналага, мышкгьы ахәшәтәырҭа дҭамхеит. Иԥсадгьыл ахь деихеит, убасҟак игәхьааганы дыҟан, знык сшьапы нықәсыргыландаз сыԥсадгьыл ҳәа дазгәаҟуан.

...Алиас Ҧсоу дырны иԥсадгьыл Аԥсны ишьапы аналаиргыла, Москва ихигаз зегьы ихашҭит. Ахаан акы зламкьакьаӡац аӡә иеиԥш ихы ибо далагеит. Игәы ҿыцхеит. Аԥсреи абзареи днарыбжьагылацыԥхьаӡа, иабду иҳәамҭа игәалашәон, уи ала иԥсы еиқәирхон, аԥсра иҽеиҭомызт. Иабду акырынтә иҳәо иаҳахьан, «Аԥсоуп ихьчатәу»ҳәа, усҟан уи аҟара хырҩа азиуа-мызт, иаанагозгьы издырамызт.

«Уара умиӡацызт, уара уакәым, уабгьы аду-неи имбацызт, сара аибашьрахь санцаз,»– абас дналагон. «Сшеибашьуаз мацара, аӷа ихымҭак сықәымшәаӡакәа, Берлин снеит. Уаҵәы Реихстаг аагараны ҳшыҟаз ӷәӷәала сырхәит. Ахәышәтәырҭа аҟынӡа сҩызцәа сышнаргаз сгәалашәом. Акыраамҭа аԥсреи абзареи срыбжьагылан. Аԥсраҵәҟьа ахықә саннықәгылалак, Анцәа иҳәара салагон, усыцхраа, сыԥсадгьыл аҟынӡа сыԥсы шсылоу, сшьапқәа снар-го сҟаҵа, нас иара уаҵәҟьа сыԥсы аасхыхны ига ҳәа. Уаҟа аԥсра усҟак сзацәшәоз, сыԥсы ҟьаланы атәым дгьыл аҿы иаанхар ҳәа акәын. Уи ҳабацәа иҳарҳәахьан. Зыҩнаҭа иҩнымԥсааз, иԥсы ахьихи-хыз ега ихаразаргьы иуацәа, иҭынхацәа цаны иԥсы

Page 116: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

116

ахьихихыз аҭыԥаҿы иԥсы иаԥхьан, ацәашьы ар-кны, аԥхьа игыланы изхыҵыз иахь иааргон. Убасҟан акәын аԥсы анҭынчхоз. Сара Берлин сыԥсыр, сыԥсы иашьҭаланы, ицаны иаазгодаз? Ишысҳәаз еиԥш, иҟьаланы атәым дгьыл аҿы иаанхон».

Алиас Ԥсоу дырны иԥсадгьыл ишьапы аннықәир-гыла, иара иакәӡамшәа, игәалаҟазаара дышьҭых ны дарԥыр уашәа аниба ауп иабду иеиҳәахьаз ҵакыс иа-маз анеиликааз.

...Алиас уи аҽынтәи амш иалагӡаны иҩнынӡа днаӡарц агәаҳәара ду иман. Аха Ԥсоу даныр ашьҭахь х-сааҭк инеиҳаны автобус азыԥштәыс иқәшәеит. Апассаџьырцәа аҭаларҭа рибаҭомызт, ашарԥазы аа-хыс иазыԥшны игылаз даара ирацәаҩын, Алиас ии-улак дҭалеит, атәарҭа акәым, ашьапыргыларҭагьы имоуит. Автобус аган иҽадҵаны дышгылаз мацара Аҟәанӡа дааит. Автобус еибгаз саркьак амамызт, еиӷрыжәжәа иҟан, уажәы-уажәы еихәлашәон, иаан-гылон, дгәамҵуан амашьынаныҟәцаҩ.

Апассаџьырцәа ракәзар, рызегь гәынқьуан иаҳ-цәыхә леит ҳәа. Иааз гоз авто бус аибашьра ишалҵыз ҩашьаӡо мызт, авара қәа иахьаба лак ах ҭыԥ қәа рны-пыҟҟала ирнын.

Уаха ахәлбыҽха сыҩны сҟалоит ҳәа дшыҟаз, аарлаҳәа Аҟәанӡа дааит, ианааилахәлоз аамҭазы, Алиас уинахыс Очамчыранӡа дызго ҳәа ак-гьы шыҟамлоз аниба, ауха иуак иҟны даангылт. Ашьыжьымҭанӡа дҩагылан, автостанциахь дцеит. Уа дахьнеиз Очамчыранӡа ицо иахьагьы, уаҵәгьы иҟалаӡом, уаҵәашьҭахьынӡа ҳәа иарҳәеит.

Ахатә машьына дашьҭалеит, қьырала сызго аӡәыр дызбозар ҳәа. Шьыбжьаара хәыҷык шагыз ахатә машьына змаз ерманык дааникылан, дилаӡеит Очамчыранӡа сга ҳәа. Диманы дцеит, ақалақь аҿы акәӡам сахьынҳо, ақыҭан ауп, уахь сугаро-

Page 117: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

117

уп ҳәа аниеиҳәа, ақыҭа мҩақәа ыҵарбганы иҟоуп, амашьыналасқәа аныло иҟам ҳәа мап икит. Аха иҵегьы узацысҵоит ҳәа аниеиҳәа, игәы иамуит. Мап изацәымкит.

Ииашаҵәҟьаны, ақыҭа мҩа амашьына ласы аны-ло иҟамызт. Москваҟа дыргаанӡагьы ибжьысхьан, аха асҵәҟьа иҟоуп ҳәа игәы иаанагомызт. Уаҳагьы ишԥаҟалоз, аибашьра ахьынӡацоз аӷа итанкқәа ҳәазо, уахи ҽни иахьаныз иԥыхха иргеит.

Амашьынаныҟәцаҩ дахьақәшаҳаҭхаз дахьхәны дшы ҟрымҿрымуаз ақыҭа ацентр аҟынӡа днеигеит, уажәы-уажәы ажрақәа днарҭаҳауа, даарҭыҵуа.

Аусура мшы нымҵәаӡацызт, аусҳәарҭаҿы ауаа ибоз џьишьон, аха уаҩԥсы дықәыршәымызт, ашәқәа ыҵа шьыхаа иаркын. Азныказы иҟаиҵара изымды-руа даанхеит, избан акәзар амыцхә ухы аџьа аур-бар ҟалаӡом, еиҳаракгьы шьапыла аныҟәара. Ухы уеиҷаҳалароуп шықәсыбжак аҟынӡа, ахәрақәа иу-моу цқьа еилаӷьаанӡа ҳәа ахәшәтәырҭа данҭыҵуаз аҳақьымцәа иабжьаргахьаз, ишықәныҟәатәыз иды-руан, аха аусҳәарҭаҿы аӡәгьы данимба, иҩныҟа амҩа дықәлеит, аӡә дышԥасԥымлари, ма дышԥасхьымӡари ҳәа. Аусҳәарҭа аҟынтәи иҩны аҟынӡа х-километрак бжьан.

Мҩабжа дахысит дааҭгыло, иԥсы неивго, аха аӡәгьы диԥымлеит, аӡәгьы дихьымӡеит. Уи ихы иқәикрын, диасны дахьцоз алмҩанык, аџьџьаҳәа, аибашьра ҟалаанӡа инхоз рыҩнқәа ҭацәны, уаҩ дыҩнаӡамкәа, иқьамҭажәха имбозҭгьы. Даара хьаас иҟаиҵеит, аҳаблаҿы бжеиҳараҩык рыҩнқәа ҭацәын. Уаҩ дшахымыз ҩашьомызт, ргәашәқәа даҷла икыд-ҿаҳәалан, абарқәам дуқәа аҿаҵаны.

Иҟалазеи, аибашьра ашьҭахь ихҵәаны ицама, рынха ра-рынҵыра кажьны иабацеи ҳәа ицәы-мыӷханы, ҩнаҭак ашә аатны иахьызбо сымҩахыҵны

Page 118: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

118

сҵаауеит ҳәа дышнеиуаз, ҽыуаҩык дааиԥылт. Дана-аивала, иҽы аӷәра даахан иаанкылан, аԥсуа ҵасла ишькылқәа дрынгылан иҽаашьҭихын, аԥсшәа иеиҳәеит. Алиас иԥылаз дара рқыҭа дшатәымыз идырит. Иаргьы ишахәҭаз еиԥш аԥсшәа иҳәеит.

– Саҭоумҵан, аха уара аратәума? – ҳәа дҵааит амҩасҩы.

– Ааи, аратәуп, – иҳәеит.– Саӡ Дыгә дахьынхо удыруама? – ҳәа дизҵааит.– Ҳазҵаԥшуа ахәада уахьынхыҵуаҵәҟьа дын-

хоит, – ҳәа аҭак ииҭеит.– Даара иҭабуп, – иҳәан, ихылԥа ааихихын,

диеихырхәеит, нас иҽы аӷәра иаҿарӷәӷәаны иикыз анааиркәада, иҵыԥ раауа идәықәлеит. Агылашьа, ахы шьҭыхны акышьа, аныҟәашьа дахьахәаԥшуаз Са-фарбеи иҽы Ҟәараса игәа ланаршәеит. Агәалашәара акәым, ахаҭаҵәҟьа акәзар ҟалап ҳәа ишьҭахьҟа даахьаҳәын, азыԥшра далагеит. Икәарны, ашьапқәа адгьыл иқәымсӡозшәа иласны ацашьа аниба, азнык азы ахаҭоуп ҳәа ихы агәра аиргеит. Акызаҵәык, игәы еихьызшьыз, ашьапқәа илаԥш ахьырхьымӡаз ауп. Ашьҭахьтәи ашьапқәа руак (армарахьтәи) ақалԥад шкәакәа ашьоушәа иҷашьын... Ибаанӡа архәара иа-валеит.

Аҽыуаҩ дцеит, аха иара дахьгылаз дзеиҭамҵуа даан хеит. Ибла иаахгылеит Сафарбеи данҭахаз ауха иҽы Ҟәараса иҟанаҵоз. Кәыдры сыруеит ҳәа аӡы данаа хы қәгыла (Сандра Дранда абахҭа дыҭганы да-агоит ҳәа ианцоз акәын), Ҟәараса аӡы иҭамларц иа-лагеит. Ҵазмам атыша иҭаԥшызшәа, аҭхырр арган, изқәаршәшәо ашьҭахьҟа иаақәҵәиааит. Иҟалазеи, узыцәшәозеи с-Ҟәараса, иҳәан, ахәда ишьышьит, иргәыбзыӷит, аха аӡы ашҟа измырхынҳәит. Сафар-беи ицәымыӷхеит, ас еиԥш ҟанаҵо, иара иахьиҭаху акәымкәа иӷәра имакны иара иахьаҭаху сцоит ҳәа

Page 119: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

119

иалаго иҟамлаӡацызт. Дақәмыцәҟьакәа, аҽазныкгьы хаала далагеит, иамуит, аӡы ааигәара изнамгеит. Хаала иумуазар, абас ауп ишухәҭоу иҳәан, аӷәра наҿакшаны аҟамчы ахиҟьеит. Ацәа иҭаӡыӡеит, аҽеиҵнахит, аҽеи ҵанацалт, аӷәра аиха ҿыҵа иаҿаз аҟыҿы-ҟыҿыҳәа иацҳауа иалагеит... Ишамуаз анаба, иаазқәаршәшәан, зынӡа ишаҭахӡамыз, ихышхыҵәа илеиуаз аӡы иалалеит...

Усҟан иҽгьы иаргьы еибганы ирит.Сандра абахҭа дыҭганы, аӡы аԥшаҳәа аҟынӡа

данаа рга, нырцәҟа арра шаҭахымыз еиԥш, аарцәҟагьы арра аҭахымхеит. Сафарбеи дақәтәан дҭаларц даналага, ашьапқәа кыднаҟьо иалаге-ит, ара ҳҭалар ҳагоит, ҳәа аҳәозшәа, ахы аҟьон иааҟәымҵӡакәа.

Издыруада, уи ауха Ҟәараса абас зыҟанаҵаз Са-фарбеи изыԥшыз ацәа иалашәаны иҟазҭгьы. Алиас аҽыуаҩ даниԥыла нахыс ихәыцрақәа зегьы аҽы ашҟа ииасит. Аҽы зҵәыуамызт, изцәажәомызт акәымзар, шәҩыза аӡы дагеит, шәара ара шәызгылоузеи ҳәа ранаҳәарц аҭахызшәа акәын, алақәа аӡы рхыҟәҟәала, Сафарбеи данбаруеи ҳәа аҟәара иқәгыланы изыԥшыз иҩызцәа Ҟәараса ахы ақәыжьны ишаарыдгылаз. Абри еиԥш шыҟалоз абозшәа акәзаарын абасҟак аҽзарххоз, аӡы иҭаларц заҭахымыз.

Сафарбеи дырбаанӡа, иԥсыбаҩ аӡы иамырхаанӡа, Алиас дыхәны Москваҟа дгатәхеит.

Москва ахәшәтәырҭаҿы дшышьҭаз иаҳаит, Сафарбеи аӡы дамырхит ҳәа. 28 мшы аӡәгьы димбаӡакәа аӡы даман. Уахи ҽни иҩызцәа тәамҩахә ҟамҵа аԥшаҳәа иаван, алыкь ахьамаз ҭыԥк ааныр-мыжьит, идырттеит, инадырҳәит-иаадырҳәит, аха дырзымԥшааит.

Дрымбеит ҳәа ишьҭыҵуа иҟазма, иԥшаара ишаҿыц иа ҿын. Алиас ичымазара еиԥшҵәҟьа

Page 120: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

120

ихьааигон Сафарбеи ибжьаӡра. Аибашьра анеилга ашьҭахь Алиас иҩызцәа инеимда-ааимдо Москва ицаны дырбон, мчыбжьыла идтәалон.

Аԥснытәи ибаразы иаауаз, дахьышьҭаз апала-та ашә ршьапы ҩнадыргылаанӡа, Сафарбеи итәы исашәҳәозеи ҳәа дразҵаауан.

Макьаназ иуаҳҳәо ҳәа егьыҟам анырҳәалак, илахь еи қәышьшьы дааҟалон, илаӷырӡқәа мчыла иаанкы-ло, акыраамҭа ҿымҭӡакәа аҭуан аҵаԥшра далагон.

Зны Сандра дцеит Москваҟа ибара ҳәа. Апалата дшыныҩналаз еиԥш, иара диазҵаанӡа Сафарбеи да-абеит ҳәа иеиҳәеит.

– Иԥсы ҭоума? – дҵәыуарызу, дгәырӷьарызу изымдыруа дааҟалеит.

– Мчыбжьык аԥхьа иԥсыбаҩ аӡы иамаҳхит, – иҳәеит, игәы шинархьуаз ибон, аха иахьа ицәи-ҵәахыргьы, уаҵәы ишиаҳауаз идыруан. Уара изсоумҳәазеи ҳәа игәы иалсыр ҳәа дацәшәон. Али-ас уи есымша ихәыцра далан. Акыраамҭа иԥсырҭа-иӡырҭа ҳәа акгьы анырымба, шьҭа иареи сареи ҳаԥсы ҭаны ҳаибамбозар акәхап ҳәа игәы ишаҳәозгьы, ихы агәра изаргомызт, аибашьраан иҟамло ҳәа егьыҟам, издыруада ӷәӷәала дыхәны, ихы дамыхәо дшыҟаз аӷацәа дрымԥыхьашәазар, дҳарҳәацәоит ҳәа даан-кыланы дрымазар, дымшьыкәа ҳәа гәыӷра хәҷык изаанханы имаз наимпыҵахәаша ицеит, иԥсыбаҩ аабеит ҳәа Сандра ианиеиҳәа.

– Дабажәбеи, дышԥажәбеи? – ҳәа игәы еиқәҳәа_ланы дизҵааит.

– Ҳара ҳакәӡам, иара иҽы ауп дзыԥшааз, – иҳәеит Сандра.

– Исзеилымкааит, изыԥшаада зуҳәа? – иаҳаз агәра изымгеит.

– Уи аҭыԥ заҟантә ҳавсхьаз, ҳаԥшаауа аԥшаҳәа ҳана ваз. Уи аҽынгьы даабараны ҳаҟаӡамызт, ҳивсны ҳцон. Аҵәы нҭшьуа, ҳаԥшаауа аҟәара ҳшықәыз,

Page 121: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

121

аӡыкҿасырҭа, анҷаҵла ду аҵаҟа иамоу аӡыжь, ҳҽахьаҳкәабалоз угәаламшәои? Ҳавсны акыр ҳнаскьахьан еиԥш, аӡыжь аԥаҩ ахьынтә ҽык акьыр-кьырыбжьы ҳаҳаит. Угәы ааҭнашьаартәы икьыр-кьыруан, митәык иақәшәазшәа, ашақә иасуан. Еиц-қәаз ҳнаиҿаԥшы-ааиҿаԥшит, еибаҳамҳәеит, аха Сафарбеи аӡы данагоз ауха Ҟәараса акьыркьырб-жьи ашақә асыбжьи ааҳгәаланаршәеит, ҳаангыланы азыӡырыҩра ҳалагеит. Иааҟәымҵӡакәа икьыркьы-руан, ашақә ишасыц иасуан. Ажәак еибымҳәаӡакәа ҳаахынҳәын, абжьы ахьгоз аԥаҩ ҳааҵагылт, аха хыхь акәын аҽы атәыла ахьарбгоз. Ҳкыдлан ҳахьыҩхалаз, аума ҳала иабеит. Ҟәараса аԥаҩ ахыхь, анҷаҵла амҵа цәырҳәны иагахьан, ашьапы ала адгьыл иа-хьасуаз анышә ыҵырԥԥны иршәуа, ашьамхаҟынӡа ижны иҭагылан. Уажәы-уажәы ахы шьҭыхны аӡыжь иҭаԥшуан, игәаҭеиуан, агәы иамыхәаз ак абон, алымҳацәқәа кьакьаӡа ишьҭыхны иакын, аҿҿа рых-га ахаԥыцқәа еиханакшон. Ари иҟанаҵо ала уамак абоит ҳҳәан, иара ахьыԥшуаз ахь аԥшра ҳалагеит. Аԥаҩ иаҵанагалан иамаз аҵла адацқәа даанкылан дышрымаз аабеит. Деибганы даныҟаз еиԥш, кьыс имаӡамкәа, иԥшрагьы еицамкӡакәа аӡы даман.

Дааҭганы аҟәара днықәаҳҵаанӡа аҽы иааҟана-ҵоз. Ашьап иҵна жәжәоз адгьыл иалаз ахаҳәссақәа хәба-фба метр ицаны, аҟәара иқәԥсон. Дҳаман ҳандәықәла, изҿқәаз иаарҟәа ҵын, ԥыҭраамҭак иҳашь ҭа лан иаауан, ахы ақәы жьны, нас иҳашьҭы-ҵит. Уинахыс ахабар ҳамбеит.

«– Ишәмышьҭыр акәын, ишәыргәыбзыӷыр акәын, иара акәмызҭгьы Сафарбеи рыцҳа иԥсыбаҩ аӡәгьы имбаӡар ҟалон». – Алиас арҭ ажәақәа иҿы иҭагӡаны аҳәара изыцәгьан. Аха иԥсыбаҩ ахьырбаз (ахаан ир-боит ҳәа дыҟаӡамызт) игәы ааиқәнаҳәалеит, маҷӡак иадамхаргьы...

Page 122: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

122

...Алиас иҳабла дналалаанӡа иԥылаз аҽыуаҩ изхәыцра дахагаланы даман. Уи аҽнада димбацызт. Аҟәараш датәымызт. Харантәи дшаауаз ҩашьомызт. Аҽы аԥхӡы иаганы иҟан. Сафарбеи иҽы акәзар ҟалап ҳәа агәаанагара иоуз арҵабыргуан, ашьапы адгьыл иқәмыркьысӡакәа ицозшәа, ахәда ҭҳәаны аныҟәашьа ала. Иара ахаҭоуп, аха иақәтәоу дызусҭада? Ҟәараса аҟазшьа ҷыда аман. Сафарбеи инапы ада аҽаӡәы ина-пы акьысыр ауамызт. Шьазина заҵәык лнапаҿы иаа-иуан. Дагьақәтәахьан. Ахы лшьышьуан, ахәда лшьы-шьуан. Ахы наганы илыднаҵон. Уаала, снаскьага анылҳәалак, агәдыҳәа илышьҭаланы аҿынанахон... Ашьақар иалыршьцылахьан... Иақәтәан исԥылаз лхаҵа иакәзар? Ишԥеиҭахыз Шьазина аибашьра ашьҭахь лыԥсҭазаара шымҩаԥысуаз идыруазарц! Аҟәарашынтәи ибаразы Москва изнеиуаз иҭынхацәа, иҩызцәа Шьазина лыда аӡәӡәала зегьы дрызҵаауан, ирыԥсҭазаашьоузеи, аӡәыр дҭаацәарахахьоума, ҳаӡӷабцәа аӡәыр хаҵа дцахьоума ҳәа. Шьазина хьыӡҳәала дахьлазымҵаауаз азы акәхап лыӡбахә иалацәажәаӡомызт. «Даҭа, иҷкәын заҵәы Сафарбеи данҭаха ашьҭахь, дымгәаҟуази, имаҳацкәа дыҟам Шьазинеи иареи бзиа ишеибабоз. Димырӡырц азы акәхап, хаҵа данца, иара дыҟам, аха иҽи бареи ицәа шәхызбаалалап ҳәа ииҭазар», ҳәа игәы дынҭахәыцуа дцон, ила акы амбо. Игәыла Махаз иҩныҵәҟьагьы изгәамҭаӡакәа давсны дцон, аџьықәреи арашәара дахьаҿыз, иҽага аҿы ирыцқьаразы аҟәуа ала ахаҳә асра даламгазҭгьы.

Алиас уи аҽага аҟәуабжьы, дыцәан даанарԥшыз-шәа дызлаз ахәыцра дыккаӡа даалнахит.

– Махаз, бзиа ууит, – иҳәан, ашышаанда даадгылт. – Алиас уоума? – Махаз азынказы агәра изымгеит.

– Ааи, – Алиас соуп, – аниҳәа иҽага кажьны из-лаилшоз ала дыҩны ишҟа иҿааихеит. – Анцәа иџь-

Page 123: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

123

шьоуп, уеибганы уахьыхынҳәыз, – иҳәан, иарма на-пала дааигәыдиҳәҳәалеит (егьи инапы аибашьраан ицәыӡ гәышьеит).

Изнапык ала арашәара даҿын, имч шақәымхоз ҩа-шьомызт. Имхурсҭа еиҳарак аҳаскьын ахыҵәахьан, иҩе жьжьӡа игылан аџьықәреи.

Аҳаблаҿы аҷкәынцәа ыҟоуп, ирыхьзеи, изаанхаз напызаҵәык ала адгьыл акәкәаҳәа дацрыхоит, из-ицымхраауазеи, аибашьраан дзықәшәаз арыцҳара абас ирласны ирхашҭыма ҳәа дрызгәааит. Убасҟак игәы инархьит Махаз абас дахьибаз, иааикәыршаны инхоз аҷкәынцәа аӡә дааиԥылар, ицәа ккаӡа иа-аихихуан. Махаз иҭагылазаашьа злаҟаз ала абас изныҟәара гәнаҳаран.

Аибашьра ҟалаанӡа анцәа ишиҳәара дынхон, дынҵуан, акы дазхьаауа ҳәа дыҟаӡамызт. Ҩыџьа аԥацәеи ԥҳаки иман.

Аибашьра ианалага, иԥацәа ахьцоз иаргьы дры-цымцар игәы иамуит. Аҩыџьагьы ажәеизатәи акласс аҟны аҵара рҵон. Шықәсык акәын ирыбжьаз, аха еицизшәа акәын еиҟараӡа ишыҟаз. Асыс иаҩызан, рлеишәа бзиан, ааӡара бзиагьы рыгмызт. Аӡәы ажәеин раалақәа иҩуан, егьи асахьа ҭихуан. Раҳәшьа деиҳабын, ааба даналга Аҟәатәи амедучилишьче аҿы аҵара лҵон, дҳақьымхарц лҭахын.

Махаз иԥацәа аҩыџьагьы иваргыланы деибашьу-ан. Ихәыҷқәан, аха акы иацәшәомызт, ахы иаҿалон. Зегьы уамашәа ирбон, ахәыҷқәа ҳәа узрызҳәомызт, агәымшәара иаадырԥшуаз џьашьатәын.

Ажәыларақәа руак аҟны Махаз иԥа еиҵбы дҭахеит. Аӷацәа иԥсыбаҩ рырҭомызт. Ҩаха-ҩымш рышьҭахь ирулак цәгьаԥсышьала дрыцәганы, инхаз иҷкәыни иареи дааганы дыржит. Адырҩаҽныҵәҟьа аби ԥеи еиманы ҩаԥхьа аибашьра ицеит. Махаз аӡәызаҵәык изаанхаз димгарц далагеит, аха имуит. Сҩызцәа

Page 124: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

124

ахы иаҿагылоуп, сара аҩны аангылашьас исымо-узеи иҳәан, диццеит. Мызкы аанҵәаанӡа уигьы дҭахеит... «Камаз» амашьына дуӡӡа азна аџьаԥҳани аибашьыгатә техникеи аӷацәа Аҟәаҟа иаагоит ҳәа ирыманы ишаауаз ам ҩа ахаҩацәа ирбеит, аха аанкы-лашьа рзамҭеит. Агәаӷьра даара ицәгьан иаацәырҟьан агранат аҵажьра. Агәымшәарагьы аҭахын, алшара-гьы аҭахын, аласрагьы аҭахын. Махаз иԥацәа алас-разы ируҭоз, ахыҭҟьа иаҩызан. «Камаз» рывсны аара иаҿын, Махаз иҷкәын аиҵбы даарылҟьан, афы аҟара дласны, амашьына дахьӡаны, артҟәацга аҵажьны, иақәызгьы иақәтәаз ауаагьы ҟәыбаса игеит.

Махаз, уԥацәа хәыҷқәоуп ҳҳәан, аха урҭ фырха-цәаны рхы аадырԥшит, иахьа уҷкәын иҟаиҵаз соуп зҳәо илшом. Уи анцәа дихылаԥшааит, анцәа дихь-чааит ҳәа Махаз ишидгылаз, ишидгьежьылоз, зынӡа ргәы иахьаанамгаӡоз ахьынтәи хәҩы-фҩык аӷацәа аацәырҟьан, реихсра иалагеит. Аҭак иаразнак ирырҭеит, афҩыкгьы ларышьҭит. Аха афырхаҵара ҟазҵаз Махаз иҷкәын ахымҩас иқәшәеит.

Аӡәы ихы деигӡомызт, акы ишихәо идыруазҭгьы ижьы ԥҟаны ииҭон . Аха хәарҭа имоуит, иаб инапы дшакыз иԥсы ааихыҵит.

Махаз усҟан дшыҟалаз иара ида аҽаӡәы дыршьа има ӡам, иарҳәара иақәымшәо иаанхеит акоманда.

– Ишԥаҟасҵари, сақәшәеит, уаҩы дызқәымшәо ҳәа иҟо узеи, аха ауаҩы дзықәшәалакгьы ихы анираа-лароуп, акәым зар иара даҩнахуеит.

Абарҭ ажәақәа рышьҭахь, иҷкәын аиҵбы дааганы анышә дамеидеит.

Адырҩаҽны изынхаз иԥагьы, сашьа ишьа сы-мур зуам ҳәа иавтамат аанкыланы, аибашьрахь сцоит ҳәа ддәықәлеит. Аб ишимуаз аниба, иаргьы иабџьар аашь ҭыхны дишьҭалеит, дызгаша хык ишҟа ааҿанахар, иара даԥыланы, дихьчарц азы.

Page 125: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

125

Ажәакала, аби аԥеи еиҭацеит аибашьрахь. Аби аԥеи иацы зыԥсы анышә дамаздаз, бџьарла рҽеи-қәыршәаны аштаб аҿы ианнеиз, акоманда зегьы ажәылара рҽазыҟаҵара иаҿын. Цагьера ақыҭа (Мықәи Очамчыреи рыбжьара) Аԥсны зегьынџьара реиԥш ари ақыҭаҿы инхозгьы, ихлаҳәадахаз Бериа иааганы инирхаз ракәын. Рызегьы Гыртәыла Цагье-ра ҳәа изышьҭаз ақыҭатәқәан.

Ара иааганы ианындырха, аԥсуа хьӡы иамаз аа-хыхны (имҵаа-имыԥшаа), иҟарҵалак иақәиҭымзи, рқыҭа ахьӡ Цагьера ахьӡырҵеит. Аибашьра ҟалаан-ӡагьы арҭ аҽазыҟаҵара иалагахьан. Абылтәи, ама-шьына дуқәеи, аиба шьыгатә техникеи, абџьари, аџьаԥҳани рыла рҽеи қәыршәаны иҟан, Шеварднаӡе хаҭала днеины ибахьан, иагьрыдирҽхәалахьан.

Аибашьра ианалага нахыс Цагьера зынӡа иш-хыр цәа ӷь ҭ рахеит. Ашхырцәаӷь рыҭра ишҭоу иҭоум-былуазар, рыԥсы шҭоу ишузҭымцо еиԥш, Цагьераа-гьы рқыҭа алцашьа рымаӡамызт, иаламблыкәа.

Ишақәлаша аплан аҟаҵара ишаҿыз ауп Ма-хаз иԥеи иареи рааира шақәшәаз. Ианырба, зе-гьы ацәажәара иаҟәыҵын, ирарҳәара рзымдыруа, ррыцҳашьара ргәа ҵаҟынӡа инаган, ирыкәшаны иа-агылт.

– Шәызҿу нашәыгӡала, шәахьцо ҳаргьы ҳшәы-ццоит. Уи азоуп ҳзааз иахьа, – иҳәеит гәырҩала згәы ҭәыз, адәахьала инмырԥшӡакәа.

Аӡәымзар-аӡәы игәы изаанаргомызт, Махаз дзықә шәаз арыцҳара, иҷкәынцәа ҩыџьа имаз аӡәы, аӷацәа ԥсышьацәгьа зырҭаз, иацы анышә дамаданы, мчыбжьык ааҵаанӡа егьи изынхазгьы дицны аи-башьрахьы деиҭахынҳәуеит ҳәа.

Акомандаҟаҵаҩ диҳәеит, иҷкәын аӡәызаҵәык изаанхаз диманы иҩныҟа дгьежьырц. Аха ишиму-аз аниба, маӡала зегьы рлымҳа иҭишьит ажәылара

Page 126: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

126

ӷәӷәақәа раан аби-ԥеи шәреигӡала, рмаршәа шәкла, иҷкәынцәа ахьшьыцба иаҩызоуп, цәгьашәа иласуп ҳәа.

Цагьера анҭадырцәуазтәи аоперациа Махаз иԥеи иареи рҽаладмырхәыр рымуит.

Аӷацәа даара ргәырҽанны иҟан, аԥсуаа иахьа акәымзаргьы уаҵәы ишрыжәлоз рдыруан. Хры-ӷәӷәарҭас иҟаҵаны ирымаз ажәытәтәи абаахы-жәжәара акәын. Иҭҟьо ҳәа иаарымаз зегьы уахь иҩнаргалт. Уахыки ҽнаки еиҿагылан еиҿахысуан, аха Аҟәарашаа абаа агашьа рзамҭеит. Аӷацәа аҩнуҵҟа иҩнагылан ихысуан, аӡә ихы аашьҭихыр, иара уаҵәҟьа дҭадырхон. Иааигәаны неишьа рзыҟамҵеит. Иаакәыршаны дәышкәаӷьазран, уназвагыло ҵлакгьы гыламызт. Адәыхты ушьапы нықәургылаанӡа урбон, уааихырӷәыцәаауан.

Махаз иԥа Адамыр илаԥш ақәшәеит абаахы-жәжәара армарахь ала иахагылаз аԥсаҵла ду. Атыҟҳәа ихаҿы иааит ԥшьынаԥха дҳәазаны ашьапаҟынӡа дне-ины, дахьныҳалан дықәларц. Дрымбакәа амахә қәа ахьамоу аҟынӡа дызхалар дырҵәахуан, еилассы иҟан, аӡәгьы дибарҭаӡамызт. Абаахыжәжәара аҩаӡара дахыҳәҳәо аҟынӡа дааины, артҟәацга рылаижьырц.

Аӡәгьы димазҵаакәа (иаб усҟанҵәҟьа иааигәа дыҟамызт, арӷьарахь ала иаауаз афланг дрылан) игәы иҭеикыз наимыгӡар имуит, али-ԥси рыбжьа-ра, ԥшьынаԥха дҳәазаны, аҵла ахьгылаз аҟынӡа днеины, аӡәгьы илаԥш дыҵамшәаӡакәа, аеш еиԥш дышьҭыԥан, ашьапы дахьынҳалан, амахәқәа аан-кыланы аилачыра иҽалеиҵәахит, адәахьала аӡәгьы димбо. Махәык мырҵысӡакәа абаахыжәжәара хы-хьынтәи дҭаԥшуа аҟынӡа данҩеи, атанк ԥжәага агра-нат ыршәны ирылаижьит.

Адунеи ааҳәызшәа, абжьы цәгьахеит, асҟатәи машьынеи, бџьари, былтәи ахьгылаз амца анырк,

Page 127: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

127

ианыԥжәа, абаа дуӡӡа аҩнуҵҟа ихәыҵаргыланы ирымаз акы еибганы иаанымхеит, аӡәгьы иԥсы ҭаны дызҭымҵит, инеилахәаша, инеилаблы ицеит.

Иԥызжәада, изгәаӷьыда, хыхь иҩеины аԥжәага рылазыжьда ҳәа, аӡәи-аӡәи еизҵаауа иалагеит ианеиқәтәа.

Адамыр, ак ҟазымҵаӡаз аӡә иеиԥш, зегь рҵыхәахь днеины дгылан ҿымҭӡакәа.

– Ахала иҟалама, шәыуа дарбану абри еиԥш афырхаҵара аазырԥшыз, – иҳәан, акомандаҟаҵаҩ даарылагылт.

– Сара дыздыруеит уи ҟазҵаз. Махаз иҷкәын иоуп, сылала дызбеит. Ҵаҟа иҽкаршәны, аҳаскьын дузалымбаауа иҽыларшәны, аӡәгьы дизгәамҭаӡакәа аԥса ҵла ашьап аҟынӡа днеины дыԥан дахьынҳалан, алеи-ԥси рыбжьара амахәҭақәа рҟынӡа дҩеины, иҽалеиҵәахит. Нас хыхьынӡа дҩаӡаны иҟаиҵаз жәбоит. Анцәа инаигӡаша, – иҳәеит аӡәы даарылҵын.

– Дхәыҷуп шаҳҳәоз, иҟаиҵаз жәбоит.– Ахаҵа наӡа изымгәаӷьыша игәаӷьит...– Иашьа ишьа иуит...– Уи мацара аума ҳазегьы ҳаиқәирхеит.Дфырхаҵахеит ҳәа зегьы дыргәдырҳәҳәалон.Архаҟа ианыԥшы, ари ашьҭахь, Цагьераа шәаны,

ақыҭа кажьны иҩны ацара ишаҿыз рбеит. Махаз иҷкәын абри еиԥш аныҟаиҵа, агәырҩа ду

деимырхха дызмаз маҷык доунажьызшәа ихы ибо далагеит.

Аиааира ганы, агәахәара рыманы, рышьҭахьҟа ианаахынҳәуаз аамҭаз рышьҭахьҟала ҩынтә ахы-сыбжь геит. Аԥхьатәи аӡәгьы иқәымшәаӡакәа, аҿывҳәа зегьы ирывҟьаны ицеит. Аҩбатәи шааиуаз Адамыр игәаҵаӷара иақәшәан, ажәак изымҳәаӡакәа, иԥсы ааихыҵит.

Page 128: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

128

Знык изамуа, ҩынтә изамуа, ак аҵкыс ак еицәа-ны, дзықәшәаз агәаҟра дуқәа чҳаны, иҷкәын аиҳабы дааганы иеиҵбы дахьамеидахьаз дааган днаиваиҵеит. Мчыбжьык иҷкәынцәа дрыдтәалан даарԥырымҵӡакәа. Ихы ахьигара изымдыруа дшыр-хагылаз, – Еи, уара, уабаҟоу? Уааи ирласны! – ҳәа иԥҳәыс дыҳәҳәо лыбжьы иаҳаит.

Илмыхьыц илыхьызеи, абас дзырҳәҳәазеи, ил-базеи, илаҳазеи ҳәа ицәымыӷханы анышәынҭра аа-ныжьны ашҭа данааҭала, иибахьаз аҵкыс еицәаз ибеит. Иԥҳа Арда лашьа имаҭәа лышәҵаны, иав-томат аанкыланы, сашьцәа ршьоура сцоит ҳәа даҿын. Ашҭа банааҭыҵ, сыхәда ашаха нахаршәны сҽыныкнасҳауеит ҳәа лан дылхьынҳаланы дылкын.

Махаз дышьхныԥсылазшәа даанхеит. Абасҵәҟьа акәын Адамыр сашьа ишьа сымур зуам ҳәа иан длызнымкылакәа дышцаз.

– Бара боуп ҳаԥсы еиқәырханы измоу уажәы ҵә-ҟьа. Бара ак анбыхь, иаҳзыхгом. Ҳаҩны ашә акуе-ит. Башьцәа рзы ашә аартны ацәашьы азыркуада. Рыԥсы рыцҳашьа, иргәа ҟуа адәахьы иавабмырхан, – ҳәа азаарыгӡа илеимҳәаз иҟоузеи, аха илымуит, дрыцәцеит.

Акыр днаскьахьан еиԥш, Махаз деиԥхьхәыцаауа, ихы кны дыштәаз, ашырҳәа дҩагылан, Адамыр иаан ишыҟаиҵаз еиԥш, иавтомат аашьҭыхны длышьҭалеит, илыхьуа сзымдыруа аҩны сызтәом. Знык самгеит, ҩынтә самгеит, ахынтә раан сыш-ԥамгари, иҳәан.

Акыраамҭа дыҷкәыназ џьыршьон Махаз ивагы-лан ицеибашьуаз. Арда лхы инаркны лшьапаҟынӡа хаҵамаҭәала (ар рымаҭәа) деилаҳәан, лыхцәы еизга-ны лхылԥа иаҵаҵаны илыман, аӡәгьы ибарҭамызт.

Махаз аԥацәа имаз ҩыџьа ракәыз џьаҳшьон, ахԥа тәигьы димазаару. Иашьцәа реиԥш иаргьы

Page 129: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

129

гәымшәак иоуп. Ажәыларақәа раан дузаанкылом. Ихымҭа кашәа раны иҟаӡам. Иаб егьырҭ реиԥш ари-гьы дицәыӡыр ҳәа дицәшәозар акәхап, иҵыхәа кны дишьҭоуп, ҳәа еибазырбоз рацәаҩын.

Аибашьра аҵыхәаԥҵәара рацәак агӡамызт. Лашь-кьындар ақыҭа аҭарцәра ишаҿыз аминамиот ахы Ма-хаз имахәар ахьҿаз инаҵакны иақәшәан, иазҿымхит акәымзар, иԥыххаа иагеит.

Дкаҳаанӡа, саб, умшәан, ара сыҟоуп, ҳәа диҵа-гылан данаанылкылоз, лыбжьы ала дырдырит аха-цәа хаҵаҵас ирылагыланы еибашьуаз Махаз иԥҳа шлакәыз. Дышиҵагылаз дааиҵымҵӡакәа, бааԥсеит шьҭа, ҳара дҳанажь ҳәа аҷкәынцәа шлышьҭазгьы, лхала аштаб аҟынӡа дналгеит.

Анцәа иџьшьаны Махаз иԥсы еиқәхеит, аха изна-пык хырымҵәар амуит.

Абасҟак зыԥсадгьыл ахьчаразы ашьа казҭәаз, цхы рааҩык димаӡамкәа, напызаҵәла арашәара дшаҿыз аниба Алиас ицәымыӷхеит.

Акыраамҭа егьахимҳәааит, аха изымычҳаит, убасҟак игәы инархьит.

– Ҳаҷкәынцәа абаҟоу? Ргәаҵәа жәпахама? – иҳәеит дрызгәааны.

– Алиас, урзымгәаан. Ақыҭаҿы аӡәык-ҩыџьак рыда аӡәгьы даанымхеит, аибашьра ашьҭахь зе-гьы алҵны ақалақь ахь ицеит. Сара исеиԥш қәоу ахымхәацәақәаки иахьтәоу изымгыло ҭаҳмад цәа-қәаки ҳауп иаанханы иҟоу.

– Абри еиԥш аҭагылазаашьа зыхҟьазеи? Москва санышьҭаз сбара инеиқәоз исарҳәалон, аха асҵәҟьа ҳқыҭа ҭацәит ҳәа сгәы иаанагомызт.

– Ара санаа избеит. Заҟа ҩны ҭацәны иқьамҭаха игылоузеи.

– Уи зыхҟьаз аҭак аҟаҵара аамҭа рацәаны иаҭахуп. Ажәак-ҩ-ажәак рыла иузҳәом. Амҩахь

Page 130: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

130

еибаҳҳәалап, саргьы суццоит. Уаб сидымныҳәалар сгәы иауам, иаха ахәылбыҽха иара иҿы сыҟан. Акыраамҭа ҳаицәажәон. Агәашә абжьы гацыԥхьаӡа иара иоума исзааз ҳәа ашә ахь дыԥшуан, дузыԥшуа дтәоуп. Уимбеижьҭеи иҵӡозеи, уеибганы ухынҳәит, аразҟы иман. Хәыҷӡак уаасзыԥшы, аҩнынӡа снеи-ны сҽаасыԥсахып. Ас сшыҟоуҵәҟьа сызцом, иҳәан, иҽага нкыдыргылан, иҿынеихеит.

Уҟаз, уус уаԥҟьар сҭахым. Уашьҭан зны унеип ҳәа иеиҳәарц иҽаназикуаз аамҭазы, ишҟа даахьаҳәын, аҩ ныҟа умҩахыҵ ҳәа уасҳәаӡом. Аҩны иҟоу, лыԥҳа-гьы ларгьы ыҟаӡам, аџьықәреи аалагоит ҳәа, ана-пыла ӡлагара змоу ҳҳаблаҿы иҟоу аӡәызаҵәык иоуп, шьыжьымҭан ицан, уажәыгьы имааӡац иҳәеит. (Даа-ра иҭахын дымҩахигарц аха далаҟамызт).

...Аҩны дыҩнамлац шиҳәоз, иусуга маҭәақәа ԥсахны даадәылҵит.

Еицны рҿынархеит. Амҩа ианылан иахьцоз Али-ас Махаз ииҳәозгьы дазыӡырҩуан, аха игәылацәа бжеи ҳараҩык рыҩнқәа рышә-гәашә аркны, уаҩ дахӡамкәа иахьибоз деиланагон.

– Арҭ иҭацәны иубо аҩнқәа зегьыҵәҟьа иахыҵны ицақәаз рымацара ртәқәа ракәӡам. Аибашьра иҭа-нар цәқәазгьы ыҟоуп, – иҳәеит Махаз, Алиас игәы ишыҵхоз аниба.

– Ари аибашьра ихнарҵәаз иҩноуп. Ари атро-феи ҩны иашьҭаланы ақалақь ахь ицаз итәоуп, – ҳәа Махази иареи еицәажәо ишцоз, архәара иавс ны иахьаахаҵәиз амарда ашьапаҿы игылаз аҩны ахыб абжеиҳарак ақәӡамкәа иақәыжәжәаны, ашә қәеи аԥен џьырқәеи ҿаӡамкәа иҿы жәжәаны, иқьамҭажә-ханы ианиба, – иахьзеи? Ас ишԥа ҟалеи? – иҳәан Алиас, иџьашьаны азыԥшра далагеит.

– Афарҭын аакылҟьан ари иубо ацәаҳәа иқәсны ицеит. Уи еиԥш афырҭын ӷәӷәа акыр шықәса раахыс

Page 131: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

131

ҳқыҭа иамбацызт. Иқәсны иахьцоз ацәаҳәаҿы игы-лаз аҩнқәа зегьы аԥхасҭа шырнаҭаз еиԥш аҽаџьара иҟанамҵеит. Иқәаҵаҵәҟьагьы ааннамыжьит, убома иҵлақәа зегьы хыжәжәаны иахьеилажьу.

– Заҟа ҵуазеи ари еиԥш ҟалеижьҭеи?– Аибашьра анҵәара мышқәак шагыз еиԥш ауп

ианы ҟалаз.– Уиаахыс маҷ ҵуама? Иасон имч ақәымхазар

акә хап, акәымзар ас ақьамҭажә еиԥш иаанижьуа-мызт. Акәы мзаргьы, еиҳараҩык ишыҟарҵо еиԥш, ақыҭа кажьны ақалақь ахь диасзар ҟалоит.

– Иасон иеиԥш анхаҩ бзиа, уи еиԥш ҟаиҵараны дыҟа зма, аха дақәшәеит, ихы имч ақәымхеит.

– Имыч зқәымхо дақәшәазар, иҷкәын дыҟами, димы цхрааӡои?

– Иҷкәын ҳәа узҿу дихымшаӡар ибаргәыз!– Избан? Цәгьарас иҟаиҵазеи?– Иаб ихәда ҳәызбацагәыла иԥиҟеит. Убри ауп

иҟаи ҵаз.– Ишԥа?– Уара акгьы умаҳаӡаци, уи иҟаиҵаз атәы?– Абыржәы иуҳәоит, исаҳауеит. Иаб ихәда

шԥаԥиҟеи?– Аҳәара салагар сахьӡом. Шәыҩны ҳазааигәахо

ҳалагеит. Уахала иазхоуп, зынӡа угәы ԥысҵәаргьы сҭахым, насгьы уиак мацара аума, уара ушьҭахь аџьашьахәқәа ҟалахьеит ирацәаӡаны. Уаҵәы, уаҵәашьҭахь зегь уаҳауеит. – Иажәагьы нагӡаны да-лымгацызт Алиас иаб игәашә аартны дшырзыԥшыз иаадгылт. – Алиас, ҳааит, ҳаицәажәара уашьҭан инаҳагӡап, – иҳәеит...

Иасон зажәа ԥхылнадоз ауаа дреиуан. Ҷкәына-заҵәык иакәын имаз. Бача ихьӡын. Ихы-иԥсы иқәҵаны диааӡеит, ақыҭа школ далгеит. Алиас аҵара аниҵоз акәын иаргьы аҵара аниҵоз. Ҩ-класск

Page 132: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

132

рыла иаҵкыс деиҵан, ибзианы дидыруан. Аҵара бзианы иҵон. Ахьтәы медалла ашкол далгеит. Аҵара аганахь ала вбак узиҭомызт, 11 класск рҟны днеиаанӡа (дигәалаиршәон Алиас), ашкол даналгоз иакәу иакәыму узымдыруа иҽиԥсахит. Хаарас илаз зегь илҵны ицазшәа, дымкьыкьӡа дҟалеит. Иҟалап, уара уеиԥш аҵара бзианы изҵо ашкол аҿы дҳамам ҳәа арҵаҩцәа дахьдырҽхәацәоз дарԥагьазар. Ус ҟаумҵан. Ҩызак думаӡамкәа ашкол уалгар уаԥхьаҟа уахьнархәуеит ҳәа Алиас изныкымкәа иеиҳәахьан. Аԥхьа идикылазшәа иуан, аха нас иара итәахьы диа-нагон. Аха аҵара бзианы иахьиҵоз зегь аҵанарӡуан.

Ашкол даналгаз ашықәс азы араион иазоурышь-ҭит лимит заҵәык, Қарҭтәи амедицинатә инсти-тут аҭаларазы. Аконкурс аҿы хәҩык (иара дназлаз) аконкурс иқәгылаз рҿы Бача аиааира игеит, зегьы дреиӷьны аԥышәарақәа иҭиит.

Аҟәарашаа ианраҳа, зегьы гәырӷьеит. Аҵара дуқәа ирылгахьоу ҳаҷкәынцәа, анцәа иџьшьаны, ирацәаҩны иҳамоуп, аха аҳақьым (зегь раҵкыс иаҳҭаху) аӡәы заҵәыкгьы ҳқыҭа иалҵыз дҳамамызт. Ҳкьаҭеит рҳәан, еигәырӷьеит. Иасон иааиԥылоз зе-гьы идырныҳәалон иҷкәын аинститут дахьҭалаз.

Аамҭа уанахыццакуа иара ццакӡом ҳәа рҳәоит еиԥш, Иасон иԥшәмеи иареи ԥшын ҳаҷкәын далга-ны данба ҳзаауеи ҳәа.

Иани иаби рхала ракәым, ақыҭа зегьы изыԥшын.Бача диплом ҟаԥшьыла аинститут далгеит.Қарҭаа дыргәаԥхеит, аусуразгьы иара уа дааныр-

кыларц рыӡбеит. Иаргьы иҭаххан, дақәшаҳаҭхеит.Иани иаби ианраҳа, ан мап лымкит, аҳақьымцәа

дуқәа рҿы апрактика дахысааит. Ара ҳраион аҿы даар (қыҭоуп) идырҵазгьы ихашҭуеит лҳәеит.

– Уи ҟалашьа амаӡам. Иҵара далгазар иҩныҟа дхын ҳәыроуп. Ҳажәлар акы дрыхәо дҟалазар,

Page 133: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

133

рымаҵ иуроуп. Уи азоуп ҳраионгьы алимит иҭаны дзырышьҭыз, – иҳәеит аб.

Иан Қарҭ даанхарц зылҭаххаз, ларгьы уа аунивер-ситет далгахьан, ақырҭцәа рахь иадылцәылон. Зны-зынлагьы ақырҭцәа иреиӷьу аҽа милаҭ ыҟаӡам ҳәа аалҿыҵҟьалон.

Ангьы аԥагьы ирдыруан Иасон иҟазшьа, знык мап аник, ашьҭахь иураны дыҟаӡамызт.

Бача иангьы иаргьы ишырҭахымыз Аԥсныҟа дыхным ҳәыр амуит. Араион хәышәтәырҭаҿы аусу-ара даладыргеит. Амедицина зегьы, егьырҭ аусбар-ҭақәагьы ақырҭцәа рнапаҿы иҟан. Ирҭаххоз дарҭон, ирҭахымхоз дарҭомызт. Ирҭахымыз аԥсуаа ракәын, аӡәык-ҩыџьак иаанханы иҟаз раамҷыдрахаз, аҿар аԥсуаа амедицина ааигәагьы инарышьҭуамызт.

Бача Очамчыратәи араионтә хәышәтәырҭаҿы мчыбжьыкгьы даанырмыжьит. Даашьҭԥааны Аԥсны ареспуб ликатә хәышәтәырҭа ду аҟны днаганы аусу-ра даладыргеит, ахирургиа аҟәшаҿы.

Шықәсык аҟара аус иухьан еиԥш аибашьра иала-геит. Ақырҭцәа Аԥсны иақәлеит. Урҭ аоккупантцәа Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа шыргаз еиԥш, мышқәак аабжьысаанӡа, Бача ахирургиа аҟәша хадас дҟарҵеит.

Аԥсуаа ҳшьырц ҳмааӡеит, апориадок ҟаҳҵарц азы ауп ҳзааз. Ақырҭуа, аԥсуа ҳәа еилаҳхӡом, зус бзианы издыруа амилаҭ еилызымхуа ихәҭоу иаҳҭоит.

Иахьа аԥсуаа зҳабашьуа амаҵурақәа ҳашәҭом ҳәа мацаразы ауп. Ҳара ҳрабашьырц ҳгәы иҭаӡам. Ҳуалԥшьа наҳагӡоит. Уажәааигәа аԥсуа ҷкәын Гоча (ихьӡ иаразнак ирыԥсахит) Ареспубликатә хәышәтәырҭаҟны ахирургиа аҟәша еиҳабыс дҟаҳ-ҵеит.

Уи имацара иакәӡам, аус ҳацызурц зҭаху аԥсуаа зегьы рзы ҳусбарҭақәа рышәқәа аартуп ҳәа аи-башьра ианалагаз раԥхьатәи амшқәа инадыркны

Page 134: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

134

телехәаԥшрала рылаҳәара иаҿын. Уигьы азмырхакәа, аҳәаанырцә иҭыҵуаз агазеҭқәа рдаҟьақәа рҿы инеиҵыхны иркьыԥхьуан... Зыҵа зырбааӡо аҵарбашьа дақәшәоит ҳәа, уи иаанагоз, ҳара аԥсуаа ишаҳзырҳәо ҳаҟаӡам ҳмилаҭеилыхыҩцәаӡам, ҳин-тер на циона листцәоуп ҳәа рхы ариашаразы акәын, егьырҭ атәылақәа рҿаԥхьа. Ашовинистцәа ус рҳәаратәы иҟалеит аибашьра ианалагаз раԥхьатәи амшқәа рзы, 14 нызқьҩык инареиҳаны Аҟәа ин-хоз аԥсуаа, зынӡа ргәырҽанӡамкәа, аҽнышьыбжьон ианрықәла, ирыхьыз рзеилымкааит. Иахьцара рзы-мыдрит! Иҟарҵо иақәымшәеит, изызҵаауа дрымбе-ит, ажәлар хыда еилахеит.

Аиҳабыра рыҩны ргарц ишаауаз, Аҟәа иаанӡа дара ақалақь ааныжьны Гәдоуҭаҟа ицеит. Ажәлар аанхеит хра рзызуша аӡәызаҵәык дрымаӡамкәа. Аиҳабыра аангылар еиӷьхозу еицәахозу анцәа иоуп избарҭоу. Иахьа аӡәы анс иҳәоит, аҽаӡәы арс иҳәоит... Иццак-ны ахәшьара аҭара ианакәзаалакгьы ииашахаӡом. Ҳаԥхьаҟа аамҭа иаҳнарбоит.

Ҳәара аҭахума, Аҟәа изалымҵыкәа иаанхаз, аоккупантцәа ҳаӷеимшхара иҭаргыланы ирыман. Ирҭахыз рыларыгӡон, уаҩы ишимбац идыргәаҟуан. Ианрықәлоз, ианыршьуаз рыздырамызт. Ичмазаҩхаз хәшәыда-бӷьшәыда, ҳа қьымда иҩны дныҩнаԥсы дцон. Ахәшәтәырҭахь аԥсуа ҽыхәышәтәра днеир ҟалаӡомызт.

Анаԥшцәа, шәара шәуааӡам ҳәа рзырымҳәарацы, аи ҳабыра ақәҵара рыдыркылт, аԥсуаа аус ҳацызурц зҭаху усбарҭацыԥхьаӡа аусура рыҭатәуп ҳәа.

Аӡәымзар-аӡәы аԥсыуак амаҵура даламге-ит. Маӡа-аргама Аҟәа иалҵны ицон. Ақырҭцәа, ашьажәцәа рна паҵаҟа аусура иалагар аҵкыс ир-шьыр еиӷьаршьон.

Page 135: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

135

Аҟәа иалахан иҟаз аԥсуаа зҭаргылан ирымаз Аԥсны ахи аҵыхәеи зегьы ирдыруан. Уаҟа ҭынхак дызмамыз дыҟамызт. Ихьааганы ирыман. Еибганы ирбозу ирымбозу рыздырамызт.

...Сыҷкәын дрымшьыкәа дрылҵны данбааришь ҳәа Иасонгьы дизгәаҟуа дизыԥшын. Мчыбжьык ахи аҵыхәеи ала аоккупантцәа ирымпыҵыҵны аӡәык-ҩыџьак анымаауаз ыҟамызт.

Аӡәы дааит ҳәа иаҳацыԥхьаӡа, дцаны диазҵаауан Бача дубазар ҳәа. «Иҳаздырам»ҳәа акәын зегь ирҳәоз.

Аамҭа цацыԥхьаӡа Иасон иҷкәын ихабар ахьимаҳауаз еиҳа-еиҳа иқәыӷәӷәо далагон. Дахьцара издырамызт. Зны-зынла, уаха шаанӡа дмыцәаӡакәа, дизхәыцуа дшыҩназ иршон. Иан, лыҷкәын иахь дцаны дыҟан. «Сыҷкәын дҭакны дыргәаҟуа дры-мазар? Иан, даазгоит ҳәа дахьнеиз ларгьы дааныр-кылазар? Аҩыџьагьы ршьызар?»Абарҭ реиԥш иҟаз ахәыцра хьамҭақәа изцәырҵуа даналагалак, аҩны ихы изыҩнамкыкәа, амедпункт ахь дцон. Уаҟа ақыҭауаа уахгьы-ҽынгьы иадеизалан иахьгылаз Иасон иҷкәын иакәым, дара рхы ргәалашәомызт зыҷкәынцәа ажәыларахь ицан иҟаз ихәны иааргозу ишьны ирзааргозу рыздыруамызт. Рқәыԥсычҳабжь ада ажәак рыҿшәаны иуаҳауамызт. Иасонгьы дне-ины днарыдгылон. Ҧаса данаалоз иазҵаалон, Бача данбаауеи ҳәа икәшаны иаагылон. Аха шьҭа иагьиазҵаауамызт, иааигәагьы инеиуамызт, дрымбаӡазшәа ҟаҵаны ивсуа иалагеит. Уик зынӡа деиланагеит. «Арҭ ак раҳаны иҟоуп... исцәырӡарц иаҿуп». Сыҷкәын деибгам хымԥада. Уи азоуп дан-баауеи ҳәа изсазымҵаауа. Амца икызшәа абыл-ра далагон. Уахьынтәи аштаб ахь днеиуан акыр саҳауазар ҳәа. Аха дахьнеиуазгьы Бача иӡбахә аӡә далацәажәо иаҳауамызт. Абжьааԥны даннеилоз, Бача ашкол ицалгақәаз, абык иеиԥш дыԥхьаӡаны

Page 136: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

136

аԥсшәа иарҳәон, ҳҩыза ҳаизыԥшуп, «иаҳәызба»хны даҳзаауеит рҳәон ихәмаруа. Уажәшьҭа урҭгьы ԥасеиԥш акәӡамкәа, ихьшәашәа-хьшәашәаӡа акәын аԥсшәа шиарҳәоз. Урҭ ахарантәиқәа ракәым, дыз-ланхоз аҳаблагьы шицәтәымуаахаз ибон. Игәылара аԥсра аныҟалаз аҽны акыр зықәрахь инеихьаз, акыр шықәсагьы инеиԥынкылан ақыҭа хадара азызуаз иааиқәшәан дыԥсит.

Ԥсрак ааҟалацыԥхьаӡа аԥсы данахыргоз идырцәа-жәоз Иасон иакәын. Аԥсра иақәшәаз игәырҩа хызҽуаз ажәа иҿан. Аха уи аҽны аԥсы уихцәажәа ҳәа аӡәгьы иеимҳәеит. Уи акәым, аԥсыжра ашьҭахь, уԥсаҭа бзиахааит ҳәа ҵәыцак аанкыланы иахьхырҭәалоз ашҟагьы уааи ҳәа иарымҳәеит. Уиак зынӡа де-ивнагеит. Агәра игеит уамак ихьны дшыҟоу, аха игәаӷьны ишиарымҳәо. Аԥсраҟынтәи дшаақәҵыз еиԥш иҩны дымнеиӡакәа, Аҟәаҟа амҩа дықәлеит. Уи аԥхьаҟагьы иақәикхьан, аха цашьас иумоузеи Кәыдры уаныр нахыс дара роуп игылоу, ушаԥсыуоу ааилыркаар иноугәыдҵаны ушьны укарыжьуеит ҳәа агәра ирганы дааныркылон. Уажәыҵәҟьа уи аӡәы дизыӡырыҩуа, аӡәы дааникыло ҳәа дыҟамызт, сыр-шьуазаргьы сыршьааит, сыҷкәын дахьыҟоу еилы-сымкаар зуам ҳәа кыр днеихьан еиԥш, ижәлантәык диԥылан, ахәлара иаҿуп, уҩны уаҩысны, уеиханы уабацои ҳәа дизҵааит.

– Схынҳәаанӡа аҩны усзахылаԥшла, Аҟәанӡа сым-цар ҟалом. Схы ақәҵатәыс исауазаргьы, сыҷкәын деибгоу деибгаму еилыскаароуп.

– Ухынҳәы Иасон, ухы зқәуҵо аҷкәын уара анцәа дуимҭеит.

– Ишԥа уара? Ухы зқәуҵо аҷкәын уара анцәа дуимҭеит ҳәа исоуҳәаз иаанагозеи? Умцахә ыцәеит ҳәа соуҳәарц уҭахума? – Иасон ишьапқәа иҵыԥсааз-шәа дзеиҭамҵуа даанхеит.

Page 137: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

137

– Иухьны иҟоу уаҳәара аӡәгьы иҭахымхеит. Уареи сареи ҳшеишьцәоугьы иахьа уажәраанӡа игәаӷьны исызуаҳәомызт, аҽаӡәы иҿала иуаҳауазар ҳәа сыԥ-шын.

– Шәанаџьалбеит, шәызегьы шәнеивыс-ааивыс-уа акәымкәа, исзыҟалаз аахҵәаны исаҳәа. Исарҳәа-рызеишь ҳәа агәырҩа саганы аԥсра сахьаҿу шәымбаӡои? Сшәыр ҳәҳәома? Шәуааӡами, уара? – деиҟәжәаны дца рашәа ибжьы духеит.

– Ахәылбыҽха снеины унартәаны иуасҳәап ҳәа ақә кны исыман. Ара амҩаду ҳангыланы уи ҳзала-цәажәом. Ухынҳәы, аҩныҟа ҳцап.

Иасон ижәлантә иеиҳәаз уаҳа ажәак ахымҳәааӡакәа ишьҭахьҟа даахынҳәит. Дызҵымҵуа ахаҳә ихәда иқә ҵаны игозшәа акәын ишьаҿақәа шеихигоз. Уажәы-уажәы ишьамхы иҵаҟәалон.

– Смыргәаҟкәа исаҳәа исыхьны иҟоу, – иҳәеит иҩны ашә аартны ишыныҩналаз еиԥш, астол аханы игылаз аҟәардә (ада аҽа ҟәардәык иқәымтәоз) аҟынӡа днаӡаанӡа, иҽизнымкылакәа, иааимԥыхьашәаз ҟәардәык агәараҳәа днықәҳаит.

Иасон, уареи сареи шьак, дак ҳалҵит. Ҳацәгьеи ҳабзиеи акоуп, еилых ҳамам. Ҳахьӡи ҳахьымӡӷи акоуп. Иабанӡаҳҵәахри, иабанӡауаҳамҳәари, уҷкәын, ахаан иаҳхымҵуа ахьымӡӷ ҳхиҵеит. Ауаа рҿы ҿыӷәӷәала ҳзымцәажәо, ҳабӷа ԥиҵәеит. Аус ахьиуаз ахәшәтәырҭаҿы даанхеит, ақырҭцәа рнапаҵаҟа аус иуеит. Ҳаӷацәа ихәны инарго иара иоуп изхәышәтәуа. Ршьапы иқәыргыланы, еиҭах ҳабашьра ицо иҟаиҵоит.

– Агәра сызгом, абасҵәҟьа ҟаиҵоу сара сыҷкәын. – Ашырҳәа даагылан, дзықәтәаз аҟәардә аашьҭԥааны иахьықәикшаз, аҵәаҟьа иалхызшәа, иԥыххааа ице-ит.

Аибашьраан иҟоу аҵкыс иҟам анырҳәо еиҳауп.

Page 138: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

138

– Изҳәада? Избада? – Иасон дзымтәо, дзымгыло, дыҩнагьежьуа дыҩналеит.

– Хаџьиԥа Кәана думдыруеи?– Дышԥасзымдыруеи, уажә дызбама, ажәытә еиу-

аракгьы ҳабжьан. Уи иоума изҳәаз?– Ааи. Уи иоуп избазгьы изҳәазгьы. Кәана иакәы-

м кәа аҽаӡә ихьӡ иҳәар ихеимҵар ҟаларын. Аха Иа-сон уи ауаҩ ибзианы дидыруан. Акыргьы иқәрахь днеихьан. Иакәымкәа аӡәы акы изиҳәеит ҳәа има-

ҳацызт. Аибашьра аԥхьа, жәамшҟа шыбжьаз, еиқә шәан, акыраамҭа еицәажәон. Игәамбзиара да-хашшаауан. Ианеиԥырҵуаз, сыҷкәын иҟынӡа сца-роуп, ҳақьымцәақәак сыдирбароуп ҳәа иеиҳәеит ианеи ԥырҵуаз, игәалаиршәон Иасон.

Ус егьыҟаиҵеит. Иҷкәын Аҟәа аус иуан, ишҟа дцеит сҽысхәышәтәуеит ҳәа.

Аҟәа дшыҟаз ауп аибашьра ишалагаз. Уа даан-хеит дзалымҵыкәа. Аибашьра аилгарахь инеиуан еиԥш аам ҭазы ауп иԥсы иман далҵны дшааз. Дааит ҳәа Иасон ианиаҳа, сцаны сыҷкәын ихабар ҳәа акри-дыруазар, ма акыр иаҳахьазар сиазҵаауеит ҳәа игәы иҭыхо ишҭаз, уца, уҷкәын дзакәхаз ихаҭа иҳәоит ҳәа ижәлантә ианиеиҳәа, деиханы дцеит. Ишьам-хы нарсны диҳәеит иҷкәын изы иидыруа аиаша иеиҳәарацы.

– Амц зҳәо анцәа ицәымӷқәоу роуп. Сара сылала избаз аиашахаҭа уасҳәоит. Исымҳәаргьы анцәа лахь сиҭоит, – иҳәан, днаидтәалан, акы аанмыжькәа зе-гьы иеиҳәеит.

Ақәылаҩцәа Аҟәа былуа ишналагаз еиԥш, иҷкәын иҭаацәагьы иаргьы ааныжьны, аибашьра дце-ит. Абгьы, аҭацагьы, амаҭацәагьы (урҭ хәыҷқәан) адәахьы иаадәылҵыр аоккупантцәа икны иргар ҳәа ишәаны рыҩны издәылымҵуа иҩнахеит. Ахәыҷқәа амла рзымычҳауа ианалага, Кәана, сбыргуп, сыкны

Page 139: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

139

сышԥаргари ҳәа чаагара дцон, смаҭацәа амла иасыр-куам ҳәа. Дшаԥсыуаз рдырыр ача ирҭомызт. Ақырҭуа бызшәа ҟыжәбыжәқәак иидыруаз ача аахәаразы иаз-хон. Ақырҭуа школ акәын иара дзылгахьаз, Бериеи Сталини аԥсуа школқәа аркны ианрымаз. Ибзианы изҳәомызт, аха қырҭшәала иаарҳәо, аӡы кылымкәо иаҳауан.

Ҽнак, шьыжьымҭан дгылан, чаахәара дцеит. Ао-черед дшықәгылаз, иахьарнахыс хымыш ача ҟалаӡом ҳәа аӡәы иааиҳәан, ауаа еижәылеит, амагазин ашә илеибархо, аԥхьа иҳазгозар ҳәа зегьы қәԥеит. Кәана ажәылара изымычҳазт дхышәҭны дрылаҳаит. Иха-ла данзымгыла, џьоук ицхраан ддыргыларц иана-лага, аҵла иалыҩрыз амаҭ ицҳаит ҳәа рҳәоит еиԥш, данкаҳауаз ишьапы хҳәыцызаап, данеимдырх-ха дарҳәҳәеит. Убасҟак ихьит, дахьыҟаз дахьаныз иханаршҭын, «сшьапы сымнахит, сышәмырҵысын» ҳәа аԥсышәала ҿааиҭит. Дшаԥсыуаз анырдыр, заҵа ицхрааны дышьҭырымхрыз, иӷрагыланы, дкәа-ҳаны ицарц иақәыркит. Аха ишырҳәо еиԥш, зегьы неибеиԥшны иауцәгьаху, алыцәҳақәа бзиакгьы рыламшәои. Дуаҩ быргуп, ус изышәымун, уи ихаро-узеи иҳәан, аӡә даарылҵын, даашьҭихын, ижәҩахыр даҵагыланы (ахәшәтәырҭа аҟынӡа шә-метракгьы бжьамызт) днаган даанижьит. Узусҭада ҳәагьы иазымҵааит, дбыргымзи. Даԥсыуоуп ҳәа ргәы иаанамгаӡеит, днаган дышьҭарҵеит. Дшаԥсыуаз рдырыр дышьҭарҵо иҟазма. Хҩык мхедрионаа хәны иахьышьҭаз апалатаҿы днаган дрыладыриеит. Иагьихәамԥшит. Аҵыхәан игылаз акаруаҭ аҟны дна-ган ддыриеит.

Кәана иԥсы ӡаны диан. Ахәцәа руаӡәы, сеицәа-хазшәа збоит, Гоча ихаҭа дысзаажәга, егьырҭ ара исыхәо уаҩ дызбом, ҳәа уажәы-уажәы ибжьы рдуны аҳақьым еҳәшьцәа ирызҿиҭуан. Аҿыҭра

Page 140: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

140

данаҟәымҵӡа аӡә дааҩналан, иаха ахәцәа рацәаҩны иааргеит, Гоча уиаахыс аԥҟарҭатә зал ддәылымҵӡацт, рыԥҟара даҿуп. Маҷк иаачҳа ирласны ддәылҵуеит. Дшаадәылҵлак еиԥш, днеиуеит, – иҳәеит. Иаҳаз маҷк дааиқәнартәеит.

Кәанагьы гәырқәак неизыҟарҵан, ихьаа еиқәдыр-тәеит. «Сҭацеи смаҭацәеи срымбар исышьҭалара иҟоуп. Сгыланы цашьас иҟасҵарызеи» – ҳәа, дхәыцуа дышиаз, дшаҵәышаҵәуа аӡә дааҩналт, илақәа рыда ихы-иҿы умбо жакьала иҭаҳәҳәаны. Гоча – зегьы иреиӷьу аҳақьым ҳәа изышьҭаз иара иакәзаап. Дыш иашаз днеины, агәамҵра иаҿыз днеихагыланы, ушԥаҟоу ҳфырхаҵа ҳәа дизҵааит. Сеицәахазшәа збоит, иҳәеит, дахьааиз агәыӷәӷәара шинаҭаз иныԥшуа. Днеирҳәит, дааирҳәит, диртәеит диргылт, еиҳараӡак ишьапы акәын имыхәоз.

– Уеицәахазшәа угәы изаанагазеи, сара избоит, аиӷьхара уаҿуп. Уажәы аҽа хәшәык узылызҩаауеит. Иахьаҵәҟьа адкылара уалага. Ушыҟанаҵо убап.

– Су кәыхшоуп, Гоча. Ирласны сшьапы сықәгыло сҟаҵа. Станк сзыԥшуп, асепаратистцәа чалтны, сыр-хысны аиааира амш Ԥсоу аӡиас ахықәан сшаԥыло ҳәа ҭоуба зухьеит.

– Агәра усыргоит, – Уахьысыгӡоит. – Ина-пы рыӷәӷәаны иааникылт. Уи даанижьын, егьырҭ ахәцәа рахь иҿанааихоз аамҭазы аҳақьымеҳәшьа дааҩна лан, – Ҳаҭыр зқәу Гоча, абыржәыҵәҟьа ӷәӷәала дыхәны дааргеит Мра ҭашәарахьтәи афронт акомандаҟаҵаҩ, агенерал Лабзиашвили. Аԥҟарҭаҿы астол дықәуп. Зегьы узыԥшуп, – лҳәеит. Лажәа ҳәаны дшалгаз еиԥш, апалата ааныжьны дцеит.

Данца ашьҭахь, ахәцәа ирҽхәара иалагеит, дзакә ҳақьым бзиоу, уи иеиӷьу анапы змоу ахирург дҳамбаӡац ҳәа. Ахәцәа ара иаанаго мчыбжьык ахи-аҵыхәеи ала ршьапы иқәыргылан, ҩаԥхьа ҳаӷацәа ирҿагыланы ирабашьуа иҟаиҵоит.

Page 141: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

141

– Ари даԥсыуоуп ҳәа изуҳәар дрыцҳами.– Абри иеиԥш иҟоу ауаҩы асепаратистцәа дахь-

рылиааз џьашьатәуп.Кәана иԥсы ӡаны арҭ еибырҳәоз дазыӡырыҩуа

дышиаз, даԥсыуоуп аниҳәа, днеилууаа дцеит.– Дызхылҵыз аԥсуа сепаратистцәа зегьы иара

иеиԥш иуаазҭгьы, – ҳәа ирҽхәара ишаҿыц иаҿын, аҳәаха рибаҭомызт, – ҳадгьыл изқәынхо ықәцатәыс рхы ҳарҭозма. Ҳаргьы ҳхы ақәҵатәыс иҳауазма. Заҟаҩ ҭахахьада ҳара ҳтәқәа.

– Ҳара шә-нызқьҩык ҳҭахозаргьы, аԥсыуак иԥсы ҭаны даанҳажьуам. Ус имҳәахьеи хьӡи-ԥшеи змоу ҳгенерал Ҟарҟарашвили.

– Гоча абас дҵаҩ бзианы, агәбылра, акультура ила-ны, амилаҭ еилыхра иламкәа дызлаҟалаз жәдыруа-ма? Қарҭ дааӡеит. Қарҭ аҵара далгеит. Ҳара иҳаиӷьу Кавказ дшыҟам еиликааит азоуп ҳбызшәагьы бзиа ибаны изи ҵаз. Иан илыбзоуроугьы даара ирацәоуп. Қарҭ аҵара лҵон. Ақырҭуааӡара, ақырҭуа культура бзиа ибаны илы дылкылт.

– Аԥсуаа ыҟаӡамызшәа иқәхны аибашьра ҳшаа-лагалак еиԥш Қарҭҟа усура дцозаап. Иангьы диццо заап. Ус еиԥш агәҭакы имоуп ҳәа иҩызцәа аҳақьымцәа аҳәара иаҿын....

Ахәцәа уи ада излацәажәо рымамызшәа, абас инеимда-ааимдо Гоча итәы акәын ирҳәоз. Иаҟәыҵрангьы иҟа ӡамызт, анаҩстәи апалатаҿы ихәны ишьҭаз аӡәы ишьапы рҳәазо дааҩнамлазҭгьы шәара шәҿы дыҟан Гоча шәибеит шәиаҳаит, ҳара ҳпалатахь зынӡа дымнеиӡеит ҳәа дгәааны.

– Сара иуасымҳәази, аԥҟарҭаҿы дыҟоуп, уца ҳәа уахь, умнеиӡеи, – лҳәеит аҳакьымеҳәшьа ишьҭаланы иааҩ налаз.

– Сыҟамзи, аха сихьымӡеит. Қарҭынтәи еиҳаб дук дааны адачаҿы даангылазаап. Аруаа ҳаизганы

Page 142: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

142

дҳацәажәарц ашьжьымҭан дҩагылан дықәҵәраан дахькаҳаз, ишьапы хжәазаап. Гоча ишьҭалан иаан сара снеиаанӡа дааимҵарсны дыргеит. Анапы ҳәа имоу зегьы ирымдыруеи? Ахәра иакьысаанӡа иарӷьоит. – Абарҭ зегьы иаҳауан Кәана, ихыза ихы иақәҵаны дӡырыҩуа дахьиаз.

– Шәара ишәҳәо саҳауеит, аха сара иаха аԥсуа телехәаԥшрала, Гоча Иасон-иԥа Бачаа, иԥсадгьыли ижәлари иҭиит, ихьӡи ижәлеи иԥсахит, Гоча Ба-чилава ҳәа ҟеиҵеит. Дыктәуп, дышьтәуп ҳәа аума шизырҳәоз саҳаит, иҳәеит ҿыц ихәны иааргаз уажәраанӡа ҿымҭӡакәа ииаз аӡәы.

Абасҟак ззырҳәо дызусҭахарыдашь ҳәа Кәана иԥсы ӡаны дышиаз, ихьӡгьы ижәлагьы иаб ихьӡгьы еидкылан ианырҳәа игәы нҭыԥсааит. Ахьыӡ-аԥша змаз, аԥсуа патриот ҳәа иԥхьаӡаз, ақырҭуа милаҭеи лыхыҩцәа заҳәа ҭыхны ирҿагылаз Иасон, иҷкәын абас дышԥаҟалеи, уҷкәын дыԥсахыҩхеит, ҳаӷацәа дрыдгылеит ҳәа иаҳар изыхгом. Дышԥарыцҳасшьои. Ҳыхь ажәҩан ҵаҟа адгьыл... иԥа заҵә иакәын дзықәгәыӷуаз ҳәа лацәааихьшь имаӡамкәа, Кәана дышизхәыцуаз ирхәлеит, ирше-ит, имаҭацәаҵәҟьагьы ихашҭит, убасҟак игәнигеит, ихьааигеит иибази иаҳази.

Адырҩаҽны ианааша, шьҭа егьухьуам уца аҩныҟа ҳәа иарҳәан дцеит.

...Уи аҽны ахәшәтәырҭаҿы снанамгакәа сыҩшьа-пыкгьы ԥҵәандаз абри еиԥш саламԥшыкәа, иҳәан Кәана иаҳаз иибаз ҳәаны далган, луанытә даақәыԥсычҳаит.

Абри зегьы аҳәара дахьынӡаҿыз Иасон зынӡа ала ҿымҭӡакәа дахьтәаз уамашәа ибо данынеиҿаԥш даары цҳаишьеит, шьа илаӡамкәа илабазшәа, ақьаад еиԥш дҟәашӡа ихы инапы аҵыргәаны дтәан, ҿыцха дыԥшуа. Акыраамҭа ус дтәан қәацарак имаӡамкәа.

Page 143: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

143

Нас деихеигәо дызҵымҵуа ахаҳә ихәда иқәлазшәа, аарла ҳәа дҩагылан ддәылҵны дцеит, изаҟаразаалак акгьы мҳәаӡакәа.

Ахәлара рацәак агмызт иҩны даннеиз. Иасон уи аухатәи аҵых иара изы имшаӡо ҵыххеит.

Ауаҩы агәырҩа ӷәӷәа анимоу, ажәак иадамхаргьы ак иазҳәаша уаҩ ԥсык димаӡамкәа, игәырҩеи иа-реи рымацара ианааизынхалак, ихы ицәымыӷханы аҟазаара аҵкыс аҟамзаара еиӷьшьо аҟынӡа днана-гоит. Ҽынла акәзар еиҳа иухугоит ухала уаанхар-гьы, уааигәа-сигәа уаҩ дыҟамзаргьы, харантәыла акәзаргьы бжьык уа ҳауеит, ма ԥсаатәык абжьы уаанарԥшуеит, ухәыцрақәа еиԥхьдырттоит уахын-ла ауп ианыцәгьоу, аҵых лашьца аҽалакны иааины иухаԥоит ахәыцра хьанҭақәа.

Иасон уи ауха ахәыцра бааԥсқәа икәшаны дыр-кит. Акы иҽацәигар аҽак сымԥан иаасышьҭуам ҳәа ахәыцрақәеи иареи акыраамҭа еиқәԥон, аха акы ашьҭахь аҽакы изцәырымҵыр ауамызт.

Зегь раԥхьа игәалашәаз, Бача ашкол даналгаз ашықәс азы аԥсуа бызшәа арҵаҩы Иона иеиҳәаз ауп. «Уҷкәын амаҭәарқәа зегьы бзианы иҵоит, ихатәы бызшәада. Ухатәы бызшәа егьырҭ абызшәақәа зегь раҵкыс бзиа иубозар ауп ҳәа аниасҳәа дпаӷьӡа даасҿагылан, иснаҭозеи уи гәарабжьара бызшәоуп. Қарҭынӡа снанагом, Москван ӡа сазгом нас изысҭаххарызеи», – ҳәа сеиҳәеит. – Дқәыԥ шуп, уилабжьа, зхатәы бызшәа зҭахым иԥсадгьылгьы иҭахым ижәларгьы иҭахым. Уи ус шакәу еилукааро-уп, аханатә инаркны.

Усҟан арҵаҩы ииҳәоз Иасон игәамԥхеит. Уҷкәын дышнеи-шнеиуа иԥсадгьыли ижәлари зыԥсоу изым-дыруа дҟалар алшоит ҳәа ауп исоуҳәаз иаанаго. Уи ижәлари иԥсадгьыли ицәымыӷхо даныҟала аҽны на-хыс иаргьы саргьы Анцәа ҳҟоумҵан. Уара иуҭахым,

Page 144: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

144

сара издыруеит, сыҷкәын амаҭәарқәа зегьы хәба-хәба ҳәа иҭиуа дахьааиуа угәаԥхом.

Ахатәы бызшәаҿы даннеилак абжьаратә хәшьара изықәургыларц уҭахума ахьтәы медал имоуразы иҳәан даараӡа ажәа хьамҭа иеиҳәеит.

– Иуҳәаз саҳаит. Анцәа уахьимырхәааит, – иҳәан аҭак имҭаӡакәа Иона дидҵны дцеит.

«Уажәы даасԥыланы, иугәалашәома иуасҳәоз... аҭак усымҭеит усҟан. Уҷкәын, ҳаӷацәа анырхәлакь ихәышәтәуеит, еиҭах ҳаҷкәынцәа ирҿагыланы ирабашьрацы. Ус анакәха, ари иаанаго уи ауп, уҷкәынгьы ижәлари иԥсадгьыли драбашьуеит. Сара сиашазу, уара уиашазу ҳәа даасҿагылан исеи ҳәар аҭакс исҭо ҳәа исымоузеи?

Сара соуп зегьы зхароу дысзымааӡеит. Иан лтәашҟа дагеит. Ҳбызшәа хьанҭоуп, аҵара цәгьоуп ақырҭшәа аҵара мариоуп. Даргьы уаабзиақәоуп, акуль тура ҳаракы змоу уаауп ҳәа дидтәаланы иаҳәара дшаҿыз дақәыскхьан. Иланасмыжьыр акәын. Усҟак брыцәнымхозар, рышҟа бца ҳәа дыздәылсымцазеи. Ҳаҷкәын акупантцәа дрылган даазгоит ҳәа Аҟәаҟа данцоз дзысышьҭызеи? Лыгәра шԥазгеи? Уа дахьне-из даангылт. Лыҷкәынгьы ларгьы ҳаӷацәа ирылан-хоит... Ирылачоит. Ирҳәомызт акәымзар, агәылацәа зегьы ирдыруазаарын, сара зегь рыла сыҵабганы сшыҟаз.

Зыԥсадгьыл ахьчаразы иҭахаз ранацәеи рабацәеи сызларыхәаԥшуазеи?

Уҷкәын бзиа иаҳзиуыз умбои? Ҳаӷацәа, ахәра анро-улак уҷкәын (ахәшәтәырҭаҿы дыҟоуп) иҟны инарго-ит, ихәшәтәны ҳаҷкәынцәа рышьразы иааишьҭуеит. Акгьы узымдырӡошәа ҟаҵаны уҳадышшылоит ҳәа аҵәуарақәа рҿы сықәырцарц иалагозар акәхап. Сыԥсы ахьынӡаҭоу схы сҩаханы аӡәы сзимацәажәо сҟеиҵеит. Дысхымшаӡар исыбаргәыз. Шьҭа рнахыс

Page 145: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

145

ԥсык иаҵкыс сызлеиӷьузеи сара», – ҳәа ихы агәаӷ кны дшыгәынқьуаз мацара иршеит.

Ашара ианалага нахыс аҩны ихы изыҩнамкит. Адәахьы ддәылҵын ашҭа ҭбаа ду дазымкит, Кәыдры аиҩхаа иҭҳәаны иаманы иаауаз аҳауа изымхошәа ибо далагеит. Иашҭа ауреи аҭбаареи ишәозшәа, зны аха-ны дцон, нас даахынҳәны аҵыхәтәанынӡа даауан.

Ажәҩан казказуа иҟан, амра кахаа иԥхон ԥсҭҳәа цырҟьаха хәҷыкгьы џьара ихыршәлангьы иубомызт. Аха ажәҩангьы амрагьы зегьы хәашьны акәын иши-боз. Иара инапала еиҭеиҳаз, еихеиҳаз ашәырҵлақәа ибыбышӡа ишәҭны игылаз, еиқәаҵәахазшәа акәын ила ишабоз.

Инапы злеикра изымдыруа, аҩны дыҩнало ддәылҵу а агәаҭеира даҿын нас абаҳа аашьҭихын, иан, иаб, иабду, ианду рабиԥара зегьы ахьжыз анышәынҭрахь дцеит. Иани иаби ахьжыз ада егьырҭ ртәқәа ак умбо абнара иагахьан. Иани иаби ртәқәагьы ажыц рхыҵәахьан.

Иасон иҭаацәараҿы ԥсрак ҟамлацижьҭеи ҩажәи-жәаба шықәса ҵуан. Шықәсык ашьҭахь анышәынҭра арыцқьара ҟалаӡомызт. Анышәынҭра урҿыцыр алыԥсаа дуоуеит ҳәа ирыԥхьаӡон ажәытәуаа. Уи азоуп Иасонгьы днавыс-аавсуан акәымзар дҭаланы изимрыцқьозгьы.

Уажәы, уи ажәытә уаа ирҳәақәоз егьигәалеимыр-шәеит. Дынҭалан арыцқьара далагеит. Зегьыҵәҟьа имч рықәымхеит, аха иани иаби рнышәынҭрақәа каз-казуа ирыцқьеит. Уи ала ихигашәа ҟаиҵеит аҽнытәи амш. Ашьыбжьышьҭахь игәылацәа зынӡа изааигәаны инха қәоз хәба-фба ҭӡы днарылаланы иреиҳәеит уск сымоуп ахәлбыҽха аҩнынӡа шәсыз-неи ҳәа.

Ҳнеип, аха иҳаиҳәараны иҟоузеи? Ҳаргьы иаҳ-ҳәараны иҟоузеи? Иҷкәын ҳәа ҳазҿу дихылымҵӡар

Page 146: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

146

ибаргәыз. Ибӷа ашшара ԥиҵәеит, Апату ду змаз, аҳаҭыр ду зқәыз Иасон, иҟаиҵара изымдыруа дықәирхеит иҷкәын. Ҳнеирыма ҳамнеирыма, еиҳа ишԥеиӷьхари ҳәа агәылацәа еилацәажәеит. Иасон ихаҭа аӡәаӡәала дҳалсны иҿала ианҳаиҳәа мнеишьа ҳамаӡам ҳәа рыӡбан, еицны инеиит. Иасон игәылацәа ааиаанӡа, имаз ахәыҷы ала аишәа ирх иеит.

Ашҭа ишааҭалаз еиԥш, дырԥылан, уаха заҵәык ауп аџьабаа анышәсырбо ҳәа днараԥызаны инаган ирхианы имаз астол инадиртәалт, гәалак змаӡам иеиԥш.

Уахазаҵәык ауп аџьабаа анышәсырбо ҳәа иҳаи ҳәаз иаанагозеи. Насгьы ари ҳзыдиртәалаз аишәа за кәызеи ҳәа уамашәа ибаны инеиҿаԥшы-ааиҿаԥшуа иахырҳәаара рзымдыруа ишыҟаз, Иасон иаԥхьа иқәгы лаз аирыӡ аашьҭыхны, инапала зегьы раҵәцақәа аҩы рзҭеиҭәеит.

Аԥшәма иаԥхьа аҩы аӡәгьы иаанимкылт, ишаԥу еиԥш. Аишәа ахахьы диасны даагылт. Аҵәца аақәихын, ԥыҭраамҭак, ииҳәаша иԥшаауазшәа ҵаҟа дыԥшуан. Иааникыларц ииҭахыз аныҳәаҿа бзиарак ишазкымыз зегьы игәарҭеит, инапы шыҵысуаз ала. Иахьанӡа идрымбалацызт абас инапы ҵысуа.

Ашьҭахь ииулак ихы ҩышьҭихын (ииҳәарызеишь ҳәа зегьы ԥшын), – ари аҩы сара иҭасҭәеит ақырҭцәа ҳақәыргарц ианҳақәлаз. Зыҷкәынцәа еибашьуаз абацәа зегьы реиԥш, саргьы аҿаҭахьа сықәысҵеит аиааира ганы, аибашьра еилганы, сыҷкәын деибга-ны даныхынҳәуа аҽны ишхыстуа ҳәа. Аха сыҷкәын дыԥсижьҭеи акрааҵуазаап. Шәара ижәдыруазаарын, аха ишәзымгәаӷьит саҳәара. Шәнасывс-аасывсуан... иацы ауп сара сыҷкәын дшыԥсыз ансаҳаз. Уи азо-уп уаха шәаргьы шәзаазгаз, иԥсра шәгәы ишалоу аҟара збоит. Акака аанкылан иаргьы саргьы ҳзы ихышәҭәаларц сҭахуп, – иҳәан, аҵәца дҩахеит. Иар-

Page 147: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

147

гьы саргьы ҳаԥсқәа Анцәа еиқәимыршәааит, – иҳәан инҭаркәкәаны ижәит.

– Иухәҭам, Иасон ус аҳәара.– Иасон уара адунеи азна аџьабаа збахьоу, адунеи

азна здыруа ҳәа ауаа ирыԥхьаӡо ируаӡәку уоуп. Уи еиԥш умҳәандаз.

– Адунеи аҿы иҟамлац ҳәа егьыҟам, уи еиԥш акәым, еицәоугьы ҟалахьеит. Иучҳароуп.

– Уҷкәын мчымхарак дақәшәазар ҟалоит. Ус аума, анс аума, иԥсы ҭаны думами.

Абацәа зыҷкәынцәа ҭахаз, рҽарымҭеит. Уара утәы иԥсы ҭоуп. Уҽоуҭар ҟалома? Абас инеимда-аа-имдо даара рҽыршәеит игәылацәа, агәырҩа ду иоуз ҳазхыҽуазар ҳәа акыраамҭа игәшәамшәа аҳәара иаҿын.

Зегь ирҳәашаз ҳәаны ианаалга, ишәҳәо саҳауеит, аха зыҷкәынцәа ҭахаз абацәа реиԥш сыҟазҭгьы џьанаҭ шьапыла сцон, исыбаргәыз. Урҭ рыҷкәынцәа рыԥсадгьыл рхы ақәырҵеит. Урҭ ԥсит ҳәа узрызҳәом. Зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз рыхьӡ кашәара ақәӡам. Ауаҩы адунеи дзықәу ахьӡи ахьмӡӷи рзы ауп. Сара стәы ихы зқәиҵазеи? Ҳаӷацәа ирықәиҵеит. Дшыб-заз дыԥсит. Аԥсрақәа зегьы иреицәоу ишыбзоу аԥсроуп. Абри ашьҭахь уаҳа ажәак имҳәеит, ихы кны дтәан. Агәылацәа иаразнак игылан изымцеит. Ргәаҵаҟынӡа днаган дрыцҳаршьеит.

Изымдыруашәа ҳирбеит акәымзар иҷкәын иҟаиҵаз уажәыгьы имаҳацкәа дҟаларым ҳәа згәы иаанагақәозгьы, ауха ихымҩаԥгашьа анырба, иахьхәны итәан.

Агәылацәа анца ашьҭахь, ихала данаанха, игә-ҭакы анагӡара далагеит. Аишәа еилмыргаӡакәа ишыҟаз иаанижьит. Аирыӡ акәымкәа, аԥҳал ду аашьҭихын, иҳаԥшьаҭраҿы дцаны, ҩыла ирҭәны иааганы астол иадиргылт. Игәылацәа уаҵәы иана-

Page 148: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

148

аиуа азыҳәан ҳәа, нас иҽикәабеит. Сасра дцошәа, ҵаҟатәи имаҭәацқьақәа иреиӷьу ҳәа имаз, хыхьтәи имаҭәақәеи ишәиҵеит.

Ихашҭны иҟаз ила, адәахьала ашә иахо ианалага, ахәы дәылган еиҭеит. Нас даахынҳәын днеины дие-ит, иҽеилаҳәа-иҽеилаца дшыҟаз.

Ишеит. Амра гылеит. Ҵлак ашәара иҩеит. Иҩны ашә шаркыц иаркын. Аҳәара хәыҷқәа еибарӷызуа ашҭа иҭан. Ажәқәа еибарҟаауа агәашә иадгылан.

Зынӡа иааигәа инхоз игәыла, фархьқәак аазгоит ҳәа Иасон инхыҵ иҟаз ақәаҵахь дышнеиуаз, ажәқәа аанда ԥжәаны аҳәарақәа рахь ҳнеиуеит ҳәа ишаҿыз аниба, иааџьеишьеит.

«Шьыжьла ҳазегьы ҳаԥхьа дгыланы зырахә еил-зыргоз иара иакәын. Иахьа дамхацәама, ихьзеи,» игәахәит азныказы, аха иахатәи ихымҩаԥгашьа игәалашәан иааицәымыӷхеит. Ианаџьалбеит, иҽа-хим шьаандаз иҳәан дивсны дымцакәа, игәашә даадгылан изҿиҭит, аха ибжьы мгеит. Ирахә еилмыргакәа еибарҟаауа, агәашә ишадгылоу иаа-ныжьны џьара дцарымызт, дцәалаԥсыма, ахәаша иҳәан, ашҭа дҭалан изҿыҭуа абарҵаҟынӡа днеиит. Ибжьы анимаҳа ашә асра далагеит, аха аҩнуҵҟа ауаҩԥсы дыҩноуп ҳәа уҳәаратәы бжьы ҩныҩуамызт. Ашә амаа кны данааха ацаԥха аркӡамзаарын аҷараҳәа ашә аатит. Аԥшәма дшеибгамыз иды-рын игәы изыҩнагаломызт, акыраамҭа ашәхымс ишьапы изахгомызт. Игәы ааиқәҳәалан дыҩналт, дыԥсны дшықәыз днеихагылт. Ибжа илыԥсаазшәа дҟалеит игәыла абас даниба, дыҳәҳәан агәылацәа еизигеит.

Иҟалазеи, ихьзеи ҳәа зегьы еибарыҩны иаа-ит. Ианааихагыла рызегьы шанханы иаанхеит, сасра дцозшәа, деилаҳәеилаца дықәын, рыбжьы наиқәдыргар дҩагыларашәа.

Page 149: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

149

Ихагылақәаз, иаха дзыԥхьаны иааигақәаз ракәын, рхаҿы имааит акәымзар, абзиала ҳәа реиҳәарц азы акәзаарын. Иаха ииҳәаз иажәақәа ирызхәыцуа иана-лага ргәи рылаӷырӡи еилаҵәо аҟынӡа дрыцҳаршьеит. Иҷкәын изиуз изхымгеит, дашьит.

Абас ауп иҟаиҵаз, иԥсадгьыли иуаажәлари иԥсахит, аӷацәа дрыдгылеит ҳәа иацы ианиаҳа на-хыс аԥсра иҽазыҟаҵара далагазаап.

– Ҳаргьы иаҳхароу ыҟоуп, иаха ихала дааныжьны ҳамцар акәын. Игәырҩеи иареи рымацара еидхале-ит. Аб ахәаша акры ихароума, иҷкәын, мшымыж-да аҽны ихылҵыз, ауаа дызрыламгыло дҟаиҵеит. Ажәакала иуҳәозар, иҷкәын ахьымӡӷ ииргаз изхым-геит.

– Шәара ишышәҳәаз, аԥсраҵәҟьа аҽазыҟаҵара даҿызҭгьы, иацы абнахь амҿԥҟара дцарызу, – иҳәеит агәылацәа руаӡәы.

– Иабантәи ааугеи уи, уара дубама амҿы шԥиҟоз, – ииҳәаз аӡәгьы иргәамԥхеит.

– Сылала дызбеит иеихеи иеигәышәи иманы абнахь дышцоз. Абна илихраны иҟааз амҿада? – иҳәеит уи.

Ииашаҵәҟьаны ус акәзар, уи зны-зынла иахирҟьацәоит, аха шамахамзар иимбаз иҳәаӡом ҳәа зҳәақәазгьы ҟалеит.

Уаҵәы дыржраны иахьеиԥш, агәылацәа еилацәа-жәеит дабаажуеи ҳәа.

– Дабаажуеи ҳәа шәышԥаҵаауеи, иан, иаб, иаб-ду, ианду рышьҭра зегьы ахьжу аҟны акәымхои, – рҳәеит абыргцәа.

– Уаҟа жышьас имоузеи, абна иагахьеит, амаӷра ахыҵәахьеит, мышкы-ҩымш рыла рыцқьашьа ама-ӡам, – рҳәеит аҽа џьоукгьы.

– Ауаҩ иимбац ҳзыҟаҵом. Хазы дганы даажу-ама, агәнаҳара ҟаҳҵома, шәаала, ҳҽааибыҭаны

Page 150: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

150

ҳцап абыржәыҵәҟьа, хәылбыҽханӡа изқәаҭыԥ шԥаҳзылымхуеи, – рҳәан еиҳараҩык, реиха, реигәышә аашьҭыхны ицеит. Иахьнеиз игачамкны иаанхеит. Иани иаби рывараҿы ижырҭа аҭыԥ казка-зуа ирыцқьаны иҟан, анышәԥҟара ада ус амамкәа...

Иасон иԥсышьахаз ақыҭа зегьы иалаҩит. Згәы далымсыз аӡә дҟамлеит. Агәра рызгомызт ирацәаҩны, иԥсышьа абасҵәҟьа иҟалама ҳәа акыраамҭаӡа иалацәажәон Аҟәарашаа, ԥсроума, бзароума иахьааиқәшәалакгьы. Џьашьатәыс иры-маз, ихала изқәаҭыԥ ахьылихыз, иҽеилаҳәа-иҽеилаца имаҭәа бзиақәа ишәҵаны, ҵаҟатәи имаҭәақәа, уи аухада ишәимҵацыз, аҵаҵаны, даашьҭыхны акәыба иҭаҵарада, аӡәгьы ҟаҵатәык имҭакәа, ихала иҽазыҟаҵаны аԥсра иаԥылашьа акәын. Зынӡа иџьаршьоз, иԥсы анихихуаз ихагы-ланы деиқәыркызшәа, иҽеиҵыхны, инапқәа игәы иқәҵаны, илацәақәагьы хҩаны дшықәыз аабеит ҳаныныҩнала ҳәа агәылацәа ирҳәоз акәын.

Ихы акразиума, ахәшә ижәыма, ихала иҽишьыма ҳәа аӡәгьы дҵааӡомызт, зегьы ирдыруан Иасон иԥсра аанӡа иҷкәын дшишьыз.

Махази Алиаси анеиқәшәа аҽны, ари ахҭыс аҵыхәанынӡа инагӡаны ирзеибымҳәеит. Махаз да-ланагаланы аҳәара дшаҿыз, Алиас илымҳа кыдҵаны дшизыӡырҩуаз, ирызгәамҭаӡакәа Алиас иаб иҩны агәашә иаадгылт. Махаз абжараҟынӡагьы дымнеи-цызт, аха иажәа ааҿахиҵәеит, уашьҭан инаҳагӡап иҳәан.

Аҩны ашәқәа аартын, аха адәахьы уаҩ дубомызт. Еи, аԥшәма, уабаҟоу? Асасцәа ҳауҭоуп ҳәа ҿааиҭит Махаз, уи агәы имазшәа лафкгьы налаҵаны. Алиас игәы иахәеит Махаз абасҟак аума шихигахьазгьы иҽамҭакәа дахьыҟаз.

Page 151: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

151

– Уа бзиала шәаабеит, – иҳәан, Чанҭа даадәылҵит. Дласӡа дыҟан, иқәра иузақәнамыргаратәы еиԥш. Уаҩ фархьк иакәын, ибжьгьы ҵарын, – агәашә шәышԥадгылоу, шәҭал арахь, шәыххь згеит, – иҳәеит. Ашҭа агәҭаны дааиаанӡа Махаз ицыз дизым-дрит. Иҷкәын дшаауаз идыруан, аха уи аҽны даауеит ҳәа дыҟамзт.

– Сара ссасӡам, исыцу иоуп асас, уи иоуп бзиала уаабеит ҳәа зоуҳәаша, – еиҭах даахәмаршәа ҟаиҵеит Махаз. Убасҟан ауп Чанҭа иҷкәын данидырыз.

– Сыла ԥырԥыруан... сгәы исанаҳәон ушаауаз, аха иахьа уаауеит ҳәа сыҟамызт. Уан дукәыхшоуп, уан дузӡатәуп, – лҳәан, аҩны аҩналаха имҭакәа, ашҭа дықәыргыланы, иухьша сыхьааит ҳәа, лнапы шьҭыхны иргьежьуа икәшара далагеит.

Аб игәырӷьара адәахьы инмырԥшыкәа, аԥсуа ҵасла, аԥхьа Махаз инапы ааимихын, нас иҷкәын дааигәыдиҳәҳәалеит. Агәылацәагьы еибарыҩны аш-ҭа иааҭалт, Алиас иааира еигәырӷьаны.

Иҷкәын Алиас, аԥсреи абзареи дрыбжьаханы, Моск ваҟа амҩа данықәыргалаз ацәҵыс хырцәаала, иҩуа ашҭа иҭаз, ӡатәыс иқәиҵеит, деибганы дзыхынҳәуазар агәи агәаҵәеи дшаҵаныҳәо ҳәа. Ацәҵыс цәы наӡааӡахеит. Адәахьы ишьҭуамызт, ахкаара иҭаҵаны иман. Иоуишьҭыр дацәшәон, аи-башьра ашьҭахь, абгақәа раҵкыс ишәарҭақәаз ҟалан, рахәышьаҭак баны иаанрыжьуамызт.

Агәылацәа, Алиас дшаауаз анраҳа нахыс, рха-ԥыцқәа «хуа»иԥшын. Аухаҵәҟьа ишьыр цәгьа ирым-беит. Иаргьы ус акәын ишиҭахыз, аха Махаз дани-ба дааннакылеит. Уи иҷкәынцәа ҭахазар аахыс, ԥсрак аҿы акәымзар, гәырӷьарак аҿы дымнеицызт, исынсырԥшуам ҳәа даҿын, аха игәы зегьы ҭәын гәырҩала. Алиас дшаауаз аниба, иаргьы дицны да-аит дсыдныҳәаларц. Аҽаџьара акәызҭгьы, уи еиԥш

Page 152: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

152

аҟаҵара игәы инаруамызт. Абас изырҟаҵаз иареи сареи ҳада аҽаӡәы издырӡом. Аиуара ҳабжьамызт, аха иареи сареи цәгьа бзиа ҳаибабон, насгьы ҳаиқәлацәан. Аибашьра алагамҭаз (мчыбжьык аҟара шыбжьаз) ҽнак даасыдтәалан, уҷкәын Алиас сыҷкәынцәа руаӡәы дисырнаҭырц... уи ала аиуара ҳабжьаҳҵарц сҭахуп, иахуҳәаауазеи ҳәа сеиҳәеит.

Аҵкыс еиӷьу иҟоузеи ҳәа сшеигәырӷьаз исырды-рит. Аха, амыждара ззыҟалаша ақәылаҩцәа дахьыр-мыгӡеит.

...Сыҷкәын иаара сеигәырӷьеит ҳәа ила иша-бо ацә нкажьны ишԥасшьри. Акгьы инирԥшрым, аха игәы азҷыдамхои. Уахала уи еиԥш сзыҟаҵом. Дрыцҳасшьоит. Илаӷырӡқәа игәы иҭыкәкәа ачеи-џьыка дахатәазаауама. Уи адагьы Даҭа даанӡа сҽааныскылароуп. Уахаҵәҟьа иҟаҳамҵар амуа иҟоу-ма, ҳаԥхьаҟа ҳахьӡап иҳәан, хыхь-хыхь ала еилгеит ауха.

Даҭа ахәылбыҽха иаҳаит Алиас дшааз, ишиаҳаз еиԥш иҽааибиҭан, агәашә аҟынӡа днеихьан еиԥш ишьҭахьҟа дхынҳәит. «Иани иаби рызхара дрым бац. Уаха срылаларым, агәырӷьара ирымоу саԥырхага-харым. Сырбар, ргәы аҽакала иҟамларц залшарым. Сара саныблыз Чанҭа ашәы ишәҵаны дсывагылан, шықәс дуӡӡак иааишәымхӡакәа иныҟәигон». Иҷкәын Сафарбеи иеиԥш акәын Алиас дшибоз. Ҩыџьа аҷкәынцәа сымоуп иҳәон. Саргьы ус акәын ишысҳәоз, ԥсык еицырхан. Уҩны, сыҩны ҳәа еилых рымамызт. Уахык сара сҿы иԥхьон, адырҩауха иара иахь ицон. Урҭқәа зегьы рҿыцны игәаламшәарц залшарым, инагӡаны дызгәырӷьарым сара сибар ҳәа акыраамҭа дазхәыцуан даныхынҳә ашьҭахьгьы. Алиас уҷкәын иеиԥш дубон, дшааз ануаҳа иаразнак уаауаз џьысшьон ҳәа Чанҭа иҿала имҳәаргьы агәаанагара иоур ҳәа дацәшәо, ашацкыразы дгылан, Алиас ибара дцеит.

Page 153: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

153

Ашьжьымҭанӡа, Чанҭа ирахәыҵәҟьа еилиргаанӡа, Даҭа днеит. Аԥшәмацәа мгылацызт. Иаха ача-ра рузар акәхап иааԥса, икараха иҟоуп, игылаанӡа саарзыԥшып иҳәан, ашҭа дҭамлакәа, агәашә аартны аҩны днавыс-аавсуа аамҭа сгоит ҳәа даҿын. Чанҭа сыҷкәын данаауа азыҳәан ҳәа иоушьҭны имаз ацә быҩҩуа ахкаара ишҭаз ибеит, иџьеишьеит иаанха-ны иахьыҟаз. Издыруада макьана Алиас дмаацзар игәахәит. Аха ахәылбыҽха Махази иареи еицны ишааз збаз иеиҳәахьан.

«Сара сзоуп ацә шьны ачара зимуз. Хымԥада дыгәшаҭеит. Ҳаҷкәынцәа ԥсык еицырхоуп. Аҳәса еицырзаагап, ачарагьы еицырзаауп ҳәа ҳаизгәдуны ианеибаҳҳәоз аамҭак ҳамамзи. Сара стәы уи еиԥш алахьынҵа ахьимоуз азы ҳәа акәзар иаха чарада изе-илгаз. Ахәылбыҽха иансаҳа саауеит ҳәа ианақәыскыз саарауаз. Сара сыҟазҭгьы ацә исыршьуан, ачара имур суӡомызт», – абас дхәыцуа длеиҩеиуа аҩны аԥхьа дышгылаз, Чанҭа даадәылҵит. Дидныҳәалеит, – Анцәа иџьшьоуп, деибганы дахьыхынҳәыз. Уара уеиԥш ауп саргьы сшеигәырӷьаз Алиас иаара. Ибара саргәаҟуеит. Макьана дышьҭазар акәхап.

– Мап, дгылахьеит. Ашьыжьымҭанӡа дгылан, уара уахь дцеит. Шәеиқәымшәазар ҟалап. Џьара шәеивнагеит. Уааи аҩныҟа, ҳнатәап. Уимбар, арахь ушааз идыршт, уажәыҵәҟьа дхынҳәны даауеит.

– Аҩны симбар, дышиашоу арахь дааӡом... дахь-цо здыруеит. Уа дшыҟоу сихьӡоит. Амала, ҵәыцак аанымкылакәа сцом, – иҳәан, аҩны дыҩнамлакәа, адәахьы дышгылаз (дыҩналар ҵәыцак ала ишзе-илымгоз идыруан) ангьы абгьы ирыдиныҳәалеит, Алиас деибганы дахьыхынҳәыз.

Чанҭа идимцалт, уара ишуҭаху иҳәеит, Даҭа дцо даналага.

Page 154: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

154

– Сара ишысҭаху уасҳәап. Алиаси сареи ҳаицны ҳанаахынҳәлак, сара снапала исшьуеит ухкаара иҭоу ацә... иаха изумшьыз ҵакыс иамоу здыруеит. Игәы иаанагарызеи ҳәа, сара сзоуп изахугаз. Иара имаҿуп аҽак сгәы иаанагараны сшыҟам. Аҩыџьагьы еиԥшны иаабон уаргьы саргьы. Аӡәы даҳзынхеит, даҳзеиԥшуп. Уигьы анцәа иџьшьоуп, аԥсра ахықә аҟынӡа днеины дгьежьит. Ҳаԥсыр ҳазжуа дҳамоуп. Уахаҵәҟьа ачара аауеит. Уара уҩы аҵкыс еиӷьу аҩы сара исымоуп. Уара уаҵкыс еиӷьны иҟасҵоит ҳәа акәым ус зысҳәо, ара алаҟәыра аҵкыс ҳара ҳхәадаҿы ажь еиӷьны иҟалоит. Уара ацә аужьны иуман ихьӡала, сара аҩы ҭаҭәаны исымоуп ихьӡала. Аҷкәынцәа ирасҳәахьеит, ирыманы иаауеит. – Абри ааиҳәан, даанымгылаӡакәа дцеит.

Алиас, амҩа данықәлоз, аԥхьа Сафарбеи ины-шәын ҭраҿы дцаны, игәы-иԥсы далыхны даны-хынҳәуа иаб иҿы дынкыдгыланы дибарц иӡбеит, аха дааигәахо даналага игәы иамуит аԥхьа Сафарбеи инышәынҭрахь дымнеир.

Аҟәараштәи аибашьцәа раԥхьагыла акоманда-ҟаҵаҩ, ақәылаҩцәа ихьӡ анраҳалак аҩ иҵалон. Аҟәаршаа зегь раԥхьа Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ за-нашьахаз. Фырхаҵарыла зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз, Сафарбеи иоуп абра ижу ҳәа уаҩы игәы изаанарго-мызт, ипатреҭ асаркьа иҭасаны иханы игыламызҭгьы. Иара уигьы ақәа ахьавҵалоз аԥштәы цахьан, ихҩежьаахахьан. Аанда акәзар, ҵәҩанла ихкаан. Џьара-џьара унакьысыр ишныҵыҩрра иҟалахьан. Ахыб иақәыз ашифер бжеиҳарак икылыжәжәа иҟан.

Сафарбеи ҳгәыӷырҭа иоуп ҳәа Аҟәарашаа зегьы иззыр ҳәоз, инышәынҭра иаб ауаҩ бырг, ауаҩы чма заҩ инапы ада аҽа напык адкылаӡамкәа игәыгәҭажьны Алиас иахьибаз, иҩызцәа рзы игәы ԥыжәжәо дышгы-лаз, аԥшаҳәахьынтәи ҽык акьыркьырыбжьы илымҳа

Page 155: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

155

иааҭасит. Ҟәараса абжьы акәушәа иаҳан, ихәы-ижьы қақаӡа иааилагылт. Уаантәи днаԥшны аԥшаҳәа ибарҭамызт, анышәынҭра дын ҭыҵны ахәада хыхь дхалеит.

Аԥшаҳәа ахи аҵыхәеи зегьы лаԥшыла иааими-деит, аха арахә ҳәуа иқәын акәымзар, ҽык аԥшаҳәа ианны ҳәа имбеит.

Ишьҭахьҟа даахынҳәит, аха аҽы акьыркьырб-жьы иаҳаз игәы иҵалан, ибла иаахгылт Кәыдры аӡиас аԥшаҳәаҿы иҟалаз арыцҳара – Сафарбеи дақәтәаӡамкәа Ҟәараса ахала иӡхыҵны, аҽашьрашәа ахы кыдҟьо, аԥшаҳәа иананыз. Аԥынҵа иҭҟьаны ицоз афақь атрышәбжьы еиԥш акәын ишгоз. Алымҳақәа шьҭыхны агәы аҭҳара-ҭҳараҳәа еисуан. Зны иҩны алада ицон, аҽазны аҩада. Ихышхыҵәан илеиу-аз Кәыдры ахықә инықәххуан, иԥан аҽаланажьырц аҭахызшәа. Агәаҟра аман, акы иашьҭан. Абжьы иахылҵуаз, иҵәыуазшәа акәын ишуаҳауаз.

Изышьҭоузеи, иаԥшаауазеи ҳәа аӡәы иԥсы ак ахирӡаауамызт. Зегьы ирдыруан Сафарбеи иҽи иа-реи заҟа еизааигәаз. Иара бзиа ишибоз еиԥш акәын иҽгьы бзиа дшабоз.

...Игәалаиршәон Сафарбеи: Ашкол ашҟа сцоит ҳәа (усҟан уи аԥшьбатәи акласс аҟны дтәан) аҩны дахьаадәылҵыз, иаб ҽҵыск иманы ашҭа дшықәыз ибеит.

Саб аҽҵыс сзааухәама ҳәа дгәырӷьаны дааидых-хылеит. Актәи акласс аҟны дантәаз аахыс диҳәон аҽҵыс сзаахәа ҳәа. Уаҵәы иузаасхәоит, уаҵәашьҭахь иузаасхәоит ҳәа дақәыргәыӷуа дышимаз, уи аҽны исзааихәаҵәҟьеит ҳәа агәра иган, давагьежьуа давакәашо далагеит, ашкол ахь ацара ихаршҭны.

– Ашкол уҽагумырхан, уца, уанаалак иуасҳәоит, – иҳәан, ишиҭахӡамыз ддәықәиҵеит.

Page 156: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

156

Ашкол аҟны дышнеиз еиԥш зегьы раԥхьа, зегь реиҳа изааигәаз Алиас иоуп иаб аҽҵыс шизааихәаз зеиҳәаз.

Сафарбеи уи аҽны игәы хыҭхыҭуа дыҟан, аҽҵыс деигәырӷьан дыԥсуан. Аурокқәа рышьҭахь аԥшьба-тәи «Б»класси дареи ашьапылампыл еицасраны иҟан. Аха уи дазыԥшуа дыҟазма, аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы агара ишналгаз еиԥш ддәылҟьан, иҽҵыс ахь дыҩит. Уи дахьцоз Алиасгьы дишьҭазар акәын. Аҩыџьагьы еицны ашҭа ианааҭала, аҽҵыс шәаны иҩны ицарц иалагеит, аха ашьамхы ӷәӷәамхацызт, иаҵаҟәаланы икаҳаит. Еибарыҩны инеины иаашьҭырхит. Иргәыбзыӷуа, ахы шьшьуа ирыман ашҭа ишықәыз, Сафарбеи иаб Даҭа аусҳәарҭа аҟынтәи дхынҳәны дааит. Еизарак рымазаарын.

Сафарбеи иаб ашҭа дшааҭалаз еиԥш дыҩны диԥылан, – ари аҽҵыс шьҭа сара стәы ами? Иаахәаны исзааугама? – ҳәа диазҵаауа далагеит.

– Ари аҽҵыс аасымхәаӡеит. Иҟьаланы иҳаднага-леит. Ашьыжьымҭан сангыла агәашә ишадгылаз збеит игыргыруа. Ирыцҳасшьан, ашҭа иҭасыжьлеит, абнахь ицар акы ахьыр ҳәа сшәеит. Ашҭа иҭазааит изтәу дашьҭаланы даанӡа,– иҳәеит.

Сафарбеи иаб ииҳәаз ицәымыӷхеит. Иара итәны аӡә даакылсны, ари сара стәоуп ҳәа ицәганы игазшәа игәы ааҟалан, ахьҵәыуара далагарц егьааигымхеит.

– Изтәу данаауа здыруада. Иахьа аизараҿы сахьы ҟаз, зегьы сразҵааит, аҽҵыс хәыҷы аӡәыр ишә цәыӡны шәыҟоума ҳәа. Рызегьы мап рҳәеит. Изцәыӡны иашьҭоу аӡәыр дыжәбозар, иҟьаланы ҳара ҳҿы ишнанагаз, сыҩны ашҭа иҭаҵаны ишсы-моу рашәҳәа ҳәа рыласҳәеит.

– Аӡәгьы дашьҭаланы дмаар ҳара иаҳзынхома? – иаб аҩны дыҩналаанӡа дихьӡаны дизҵааит.

Page 157: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

157

– Изтәу сара соуп ҳәа аӡәгьы дкылымсыр ара иаанхоит. Зынӡа ихәыҷуп. Ахала иабацои? Ан злаԥшаауазеи, ирыцҳами. Аныда иаанханы иҟоуп. Аҽы ауаа иҳаиԥшуп, иахшаз канажьраны иҟаӡам, иааӡаны ахала ахы ныҟәнаго иалагаанӡа.

– Алиаси сареи аҳаскьын аҿаҳҵоит ҳәа ҳалаган, иамфаӡеит. Амла иамкӡои? – иаб аҩны дыҩналаанӡа дихьынԥашалан даанкыло дизҵаауан.

– Уи макьана аҳаскьын афашьа аздырӡом. Ахш ауп иаҭаху, – иҳәеит Даҭа.

– Амла иакуеит, ахш бымаӡами? Иаҳаржәып, – ҳәа иан длывагьежьуа далагеит.

– Аҽҵыс атәоуп иуҳәо. Уара, Алиасгьы уаргьы амла шәамкӡои, ашкол аҟынтәи шәааижьҭеи заҟа ҵуазеи!? Аҿаҵа лбаашәымдац, ахш шәхәы ауп иаанкыланы исымоу, шәнеи, шәнатәаны акрышәфа. – Сафарбеи иан рхәы цәырганы ирымҵалыргылеит. Абарҭқәа зегьы уажәы ибозшәа акәын ишигәалаиршәоз.

– Аҽҵыс ан амаӡам. Ирыцҳауп, ари акраҿазҵода, – иҳәан, ахш, иан ирымҵалыргылаз, аашьҭыхны аҽ-ҵыс иасыржәуеит ҳәа иман дцеит. Сафарбеи иамҵа-ир гылан, иамжәит, инафыҩшәа ҟаҵаны, инаскьаны игылеит. Иаашьҭыхны инаган ақьышә иқәикит, аха иамуит.

– Уаҟәыҵ, иумыргәаҟын, аҽҵыс ан ахш ада аҽакы ажәӡом, – иҳәеит Даҭа. – Аҽҵарақәа зегьы ус ауп ишыҟоу, ранацәа ирымҵуа ахш ада, ажәқәа ирымҵуа рҿахьы инаргараны иҟаӡам. Шәааины шәхәы шәфа. Сара ан сашьҭалоит, исыԥшаауеит. Исыманы саауеит, нас иаҵаланы ахш шажәуа жәбап, – ҳәа иргәыбзыӷуа иааган, иаб акрырҿеиҵеит ишырҭахӡамыз.

Ан ааны акраҿанаҵоит, ҳәа иеиҳәеит далеи-жьарц, аха Даҭа аҽқәа ртәы бзианы идыруан. Ауаа реиԥш ирыхшо ирхыбаауан, рхала рхы ныҟәырго

Page 158: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

158

иалагаанӡа, ирыхӡыӡаауа ирааӡон, заҵа икаршәны имцарыз. Ан еибгамзар ҟалап ҳәа агәҩара иоуит. Из-маны иааз аҽеиқәа ан ауп ҳәа дшыҟаз, дазааигәахо даналага, аҽҵыс хәыҷы ааныжьны, иҩны иан-дәықәла ауп ианиба иаазгаз шҽабыз. Аҽеиқәа аанымгылаӡакәа ицеит. Арашь еиԥш ахәда ҭҳәаны, ирдыдуа акәын ишцоз. Даҭа ари еиԥш аҽы ақыҭаҿы аӡәы иманы имбацызт. Илаԥш иҵаӡаанӡа дгыланы дазыԥшуан. Уинахыс ахабарагьы имаҳаит, ахаҭагьы имбеит, иныҵаба ицазшәа.

Аҽҵыс хәыҷы сара стәоуп ҳәа аӡәгьы дцәырымҵит....Амла иаго ианалага, Даҭа ааигәа зҽан аҽҵыс

арииз ргәылак иҿы дцаны диҳәеит ахш азы.– Аҷкәын даашьҭла хәылбыҽхала, акы акәым,

ҩбагьы рхәы ахш амоуп сара стәы, – иҳәан, данне-из аҽныҵәҟьагьы иҽы хьаны ииҭан, дхынҳәны дша-аиз еиԥш ацәымҳа азна наган ианаҿеик аԥхьа ахы аҟьара иалагеит, аха мчыла аҿы аартны, инацәа ахш иӡааршьшьыланы ианаҿеик, ан акыкмацә акәушәа иамҵасны иакит. Инацәкьыс ааҿыхны ахш зҭаҭәаны иикыз ацәымҳа анаҿеик иахан, аҟәата-аҟәатаҳәа ажәра иалагеит.

Даҭа аҽыхш зыҟнытәи иааигаз ишҟа Сафарбеи иҟны дганы ианиирба нахыс, иара есхәылбыҽха дцаны аҽҵыс ахәы азааигон. Уинахыс убас инапы иашьцылеит, инацәа аирбаргьы цәымҳау џьшьаны, иамҵасны иаанкыланы ацәара иалагон. Ашкол ахьынтәи ашҭа дшааҭалалак, игәырӷьаны иҩны иԥылон ахы ихьнашьуа. Ахәмарра аҭахын. Иара ида аҽаӡәы иааигәа инеиуамызт. Мызкы-ҩымыз рышьҭахь аҳаскьын сфоит ҳәа ахы шьҭнашьуа иала-геит ашьацраҿы. Сафарбеи ари аниба ауҭрахь дца-ны, ауаҩ ишьапы зыӷрамгылацыз аҳаскьын ҟатақәа хыҵәҵәаны, иааганы аҿаҵара далагеит. Ирласны иазҳаит. Ашьҭахьтәи азшьапык ашьхәа ҷашьӡа, ақалԥад шкәакәа ашьоушәа акәын ишыҟаз.

Page 159: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

159

Ашҭа ихәмаруа иахьҭаз збоз зегьы рылаԥш адха-лон, убас иԥшӡахеит.

Даҭа игәылацәа акырынтә иазҵаахьан, ишԥауд-на га леи, уара уҿы иаашьахазеи, ҽыжәла бзиак иашьҭ рам кәа иҟам, агылашьа, азҳашьа злаҟоу ала ҳәа.

– Баша ирымҳәозаап, шьыжьымҭан игылаз иҽан ҽаба аҵеикит ҳәа. Саргьы убасҵәҟьоуп, шьыжьымҭан сахьыҩагылаз сгәашә ишадгылаз збеит. Ҽеиқәа ла-шак иааганы исызныжьны ицеит.

– Ан акәзар акы уҳәап, аха аҽаба иацны ишԥааи ҿыц ииз аҽҵыс хәыҷы, – ҳәа изаҳалак уамашәа ир-бон.

...Абас ишыҟаз, ҽнак уаҩ быргык дизааит Даҭа, ухшыҩ ҳалауҵароуп, хазынхара ицахьоу сыҷкәын аиҳаби Цгәы иԥацәеи еиланагалт. Сыҷкәын нхара даннеиз ишәаны, изаны ирҭаз адгьыл иванхо Цгәы иԥацәа уи анкьа ҳабацәа рыдгьыл акәын ҳәа игы-леит. Рыҽдырцәгьеит. Адгьыл атәы цәгьоуп. Ад-гьыл еимакны заҟаҩы еибашьхьада. Даара сшәоит. Сыҷкәын иҭахикаахьаз, дара нкылсны ҵәҩан шьа-пык аанмыжькәа иҵҳәаны икарыжьын, дара ртәахьы иадҵаны ихыркааит. Сара стәгьы игәы ԥжәан дара иҟарҵоз аҩыза ҟаиҵеит... Иаднагалақәаз рацәоуп, аха еиныршәашьа рмоуит. Еидыԥсылар ҳәа сшәоит. Уара уажәа хәшәуп, урҭ реиԥшқәа ракәым ашьоура зыбжьоугьы урыбжьаҟазаны заҟаҩы еинуршәахьада.

Даҭа џьоукы-џьоук реиԥш ихы ахә алыхра издыр-ӡо мызт. Иуҳәаз саҳаит, сара сызхәо акы акәны иҟазар мап уцәыскуама. Санаҭаххо аамҭазы адыр-ра соуратәы иҟаҵа иҳәан, абырг уаҳа имырҳәакәа дақәшаҳаҭхеит.

Абырг, Цгәы иԥацәа иҷкәын ицәыргаз адгьыл аарымхны иҷкәын ирҭазшәа аҟынӡа, агәахәара инаҭеит Даҭа мап ахьацәимкыз аус алацәажәара.

Page 160: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

160

Абырг, Даҭа иҟынтәи иаҳаз агәахәара инаҭан, дахьирааԥсаз азы аԥсшәа карҵәаны иеиҳәеит. Абзи-аразы уҩны ауаа аалааит иҳәан, дцарц даныҩагыла, ус усзышьҭуам иҳәан, дааникылт.

Иаҭахым, аџьабаа шәхы алашәымгалан ҳәа абырг ишиҳәозгьы, ааигәа ҳаҩны умааӡацт, ус иҟалома иҳәан Даҭа, исас ҩба-хԥа фырџьан имыркыкәа дыхьшәашәаӡа доуимышьҭит.

Агәашә дыҭганы доуишьҭырц диманы дыш-неиуаз, аҽҵыс (шьҭа аҽҵыс узазҳәомызт, имыр-хәацхахьан) ихәмаруа, иԥо ашҭа ишықәыз илаԥш анақәшәа даагылан, илабашьа наиҵарсны азыԥшра далагеит.

– Ари ааухәоу, уара утәы иахшаз акәу? – ҳәа дизҵааит.

– Мап, сара уи зыхшааша аҽы сымаӡамызт. Ахала аныда исзааит зынӡа ишыхәыҷӡаз.

– Сахьахәаԥшуа, ҽыжәла бзиак акәымкәа иҟам. Хыр ҳагас анцәа иуиҭааит.

– Абас ааиҳәан, ԥыҭк днаскьахьан еиԥш, ишьҭахьҟа даахьаҳәын, еиҭах ахәаԥшра далагеит. –Аӡәгьы иааимгаӡакәа, ма ҽык иацны имааӡакәа, аха-ла иаама? – иџьашьаны дизыԥшуа деиҭаизҵааит.

– Узазҵаауазеи? Даҭа, абырг иҵаашьеи, дшахәаԥшуази рыла сара

стәоуп ҳәа иҳәарашәа ибон, иааигәамԥхеит. Иара итәы акәызҭгьы абасҟак аамҭа дабаҟаз игәахәын.

– Анцәа иныс, абри амырхәац, уашьҭа сыла сам-жьозар, џьара избахьеит ҳәа сыҟоуп. Издырзар ҳәа сыҟоуп. Излаудырзеи ҳәа усазҵаауазар, ашьҭахьтәи ашьапы ашьхәеи алахьи рыла ауп. Алахь ҷашьын, ашьҭахьтәи азшьапык ашьхәагьы ақалԥад шкәакәа ашьоушәа иҷашьан. Иара ахаҭаҵәҟьоуп аригьы. Амала, аиаша шсоуҳәара, ахала иаау, аӡәыр иааганы иуиҭоу?

Page 161: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

161

– Сара изӡаӡом. Ишԥауднагалеи ҳәа исазҵаауа зе-гьы ирасҳәоит. Ҽеиқәак иаманы иааны, сгәашә иа-дыргыланы ихынҳәны ицеит.

– Аҽеиқәа ҳәа узҿу уара ухаҭа иубама? Ҽанзу, ла-шазу?

– Иахьагьы иџьасшьоит. Аҽҵыс аазгаз аҽеиқәа лашан.

– Шьҭа еилкаауп. Аҽеиқәа иацны иааит ануҳәа нахыс агәра згоит, излаздырыз уамҳәакәа сызцом, – иҳәан, дналаган изеиҭеиҳәеит. Абасгьы днала-геит. – Абжьааԥны еиԥш уи аҽынгьы сыџьмақәа нкыдырҳәыла – аакыдырҳәыло исыман амарда сшаҿаз, сааԥсан, сыԥсы неиҭаскуеит ҳәа скәахьча нышьҭасҵаны снықәтәан, сшынаԥшааԥшуаз ҵаҟа ииасны инеиуаз акәараҷҷа ахықәан ҽык еиз-ҟьа иԥсызшәа ишьҭан, ҿыц иины иҩагылазшәа ашьапқәа ирызнымкыло, игыргыруа ҽҵыс хәыҷык ахагылан. Аҽы арахә иреиԥшым, иахьаақәшәо итәаӡом. Ӡынра дуӡӡак иҭакӡамкәа адәы ишықәу иахнагаргьы, ишгылоу ицәоит акәымзар, ааԥынрак ааины адгьыл аԥхарра аҵалаанӡа иқәтәаӡом. Ари, хымԥада, аира иахыԥсаазар ҟалап, акәымзар ма-кьана адгьыл хьшәашәоуп, аҳаскьынҵәҟьагьы ахьҭа иацәшәаны ана-ара ада рхы ыҵдмырҳәҳәацызт. Уажәааны абас зыҽказыжьыз аҽы еибгамзар ҟалап, аҽҵыс хәыҷы аныда иаанхазар ирыцҳахеит. Снад-гылан саахәаԥшыр изтәу дсымдырыр ҟалашам, адырра исҭоит ҳәа саназааигәаха иааҳәыцымыцын, ахы арҵысит, сыԥсы шҭоу исырдыруеит ҳәа санаҳәозшәа. Аҽы, аԥсы шҭаз анызба сгәы ҭынчхан, сышьҭахьҟа схынҳәын, снеины скәахьча ахьышьҭаз снатәеит.

Игылар изтәу дышԥасзымдырри ҳәа уажәы-уажәы ашҟа сыԥшуан, еихон-еигәон, аха изгыломызт. Иқь-уан иааҟәымҵӡакәа, иаауцәымыӷхаратәы аҟынӡа

Page 162: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

162

иагын, ажьы ақәӡамызшәа, ацәеи абаҩи еикәыршан, алақәа ахьҭоу умбо аҟынӡа алакҭақәа ҭашәашәан. Асҵәҟьа изгыз аҽы уи аҽнынӡа исымбаӡацызт. Агәра згеит ари аҽы ҳҳабла иша-тәымыз. Иԥсуа ако-уп, аха аҽҵыс хәыҷы иаԥсыхәоузеи ҳәа, сыџьмақәа схибаҳәа ианца ашьҭахьгьы ирыцҳашьаны сазыԥшуан, иааныжьны ацара сгәы иауамызт. Аҽҵыс акрыфара ишаргәаҟуаз ҩашьомызт, ан иакәшон, иавагьежьуан, акыкмацәақәа аԥшаауан, аха иахьыҟаз иақәшәомызт. Ангьы гәаҟуан – сыхша-ра акраҿасҵоит ҳәа ашьапқәа рҟьара иалаган, игы-лон иаҵанаҵарц, аха иалшомызт, инықәтәо аҟынӡа инеиуан, аха ихышәҭуан. Ари гылашьа амаӡам, иԥсуа акоуп, аҽҵыс еиқәырхатәуп. Скәахьча иаалаҳәаны изгап ҳәа сгәы ианынҭаскуаз аамҭазы, акәараҷҷа нырцәынтәи афасара иаалҩит ҽык акьыркьырыб-жьы. Аԥсра зҽаҭан ишьҭаз акьыркьырбжьы анаҳа, ақьышә ыҵарсны аарлаҳәа ахы иҩахан абжьы ахьгоз ахь алақәа кыдхалан аԥшра иалагеит. Еиҭа абжьы аҳарц шаҭахыз ҩашьомызт, аԥшышьа злаҟаз ала. Знык ада абжьы анамаҳа, адгьыл ахы нықәнаҵан, излалшоз ала аҽааиԥсхнарчын, иқәырқәырит. Уиакәхеит, уааи усыцхраа ҳәа азҿнаҭызшәа афаса-ра иаалҟьан, икьыркьыруа иааины иаахагылт. Аԥсра иаҿыз аҽы аҽеиқәа анаба игыларц иалагеит.

Аԥхьатәи ашьапқәа анаҵанаргылалак ашьҭахьтәи ашьапқәа аҵҟьан икаҳауан. Акыраамҭа амч хәыҷы иазынханы иамаз еизнагон. Аҵыхәтәан, егьа џьабаа ахы ианарбазаргьы, аԥшьшьапык ирықәгылт аар-лаҳәа. Аҽеиқәагьы иаргьы рқьышәқәа еидкыла-ны акы еибыр ҳәозшәа еиҿақәырқәруан. Аҽҵыс ан ашьапы иқәгыланы ианаба иаҵаланы иԥшаауа акыкмацәқәа ахьамаз иақәшәан, иахан ацәара иа-лагеит. Аха иажәшаз ахш ҳәа егьамоузар акәхап, иаақәгьежьаан, аҽеиқәа иаҵаларц иалагеит. Аха

Page 163: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

163

инанамышьҭит ашҟа. Еиҭа ан ашҟа ихынҳәит. Ине-ины ҩаԥхьа акыкмацә ахара иалагеит. Ан агылара азымчҳазар акәхап, акаҳара ианалага аҽеиқәа ахы наган ахәда иаҵанаҵеит, икамыжькәа иааныскыло-ит ҳәа иалагазшәа.

Акыраамҭа аҽҵыс ан аҽеиқәа ахәда ахы ахшь-ны иакын. Аҽҵыс ааҟәымҵӡакәа акыкмацә ахара иаҿын, аҟы рҟы зларбааӡашаз аҟара амоукәа иҟам, аҵыхәа хәыҷгьы арҵысра иалагеит. Излалшоз ала акыкмацәқәа кны иахон, аха иҭацәыз ацәымҳеиԥш ҿамҩак амоуа ианалага акәхап, аԥхьатәи ашьапқәа рахь ииасын, ахы рыбжьакны акыраамҭа иԥшаауан, иҟалап ашьҭахь еиԥш аԥхьагьы, акыкмацәқәа амаз џьнашьозҭгьы.

Урыцҳасшьоит, узхара уҿасҵо сахьыҟам ҳәа ана-ҳәарц аҭахызшәа иааӷызыӷызит. Ашьапқәа аҵам-гыло иаагыргырын, ибӷаӷо ихышәҭны икаҳаит. Ианкаҳа ашьҭахь ԥыҭраамҭак аҽаҟьон сгылоит ҳәа, иԥарххон, ишьарххон. Ишзымгылоз анаба акәхап ахы акыдҟьара иалагеит. Аха знык-ҩынтә рыда иалымшеит. Ахгьы шьҭанаҵеит, ашьапқәагьы еиҵнахит. Иҭынчхеит. Аҽҵыс хәыҷы, сан гы-лан акранбасҿанаҵои ҳәа, игыргыруа иахагылан иахәаԥшуан.

Аҽеиқәа, аҽҵыс ан каҳаанӡа иааныжьны, акәара-ҷҷа ирхьан. Ианкаҳауаз аӷызбжьы игаз аҳаз шәа ихынҳәын, иааины иаахагылт. Ҿыки бзыки ирыз-ҳәом аҽеиқәа иҟанаҵоз. Зны ахахьы инеиуан, нас ашьҭахьҟа ииасуан. Иакәшон, аҭхырр- аҭхырр ах-гон. Аҽеиқәа анааи аҽҵыс ан ааныжьны аҽеиқәа иашьҭалеит. Ан акәызшәа саҵалоит ҳәа иалаге-ит, зныкгьы иалагахьан, усҟан иаршәеит, ааигәа инанамышьҭит. Уажәыгьы иаҵанамҵеит, аха ԥасеиԥш иԥханамҵеит. Ицо ианалага иааныжь-ны имцеит. Иааҭгыло иахьнарԥшуа иалагеит, аха

Page 164: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

164

иабанӡагари. Џьара иӡуазар акәхап ҳәа ирыцҳашьаны сыҟан. Даҭа, аиаша уасҳәап, сара санхәыҷыз аахыс арахә срылоуп. Ауаа реиԥшҵәҟьа ауп урҭ ртәгьы шыз-дыруа. Аха уи аҽны аҽеиқәа иҟанаҵоз еиԥш сымба-цызт. Аҽҵыс ан шыԥсуаз «аҳаны»иаазшәоуп, акәара нырцәынтәи абжьы рго, ашақә иасуа, аԥхӡы ахьшы, еиҵыхны ишьҭаз аҽан ишаахаххыз. Ауаҩы изааигәоу иԥсы ихихуа даналагалак дихагьежьуа дшалаго еиԥш ауп, аҽеиқәагьы аԥсра иаҿыз ишавагьежьуаз, реизыҟазаашьа шызбаз ала, аҽеиқәа аԥа акәызҭгьы ҟалоит уи ҿыц иины адәы иқәлаз аҽҵыс хәыҷы.

Анцәа иныс аҽы ауаҩы иҟәышра шамоу. Уара уҟынӡа иаанагаанӡа заҟаҩы ирывсыда. Џьаргьы иаанамыжьӡеит, ибзианы инаҟәызгаша, изааӡаша аӡә шуакәу дырны иааганы иузаннажьызшәа ауп ишысыԥхьаӡо. Алаԥшцәгьа аҟәгазааит, арашь цыԥҵәаха еиԥшуп. Хырҳагас анцәа иуиҭааит.

...Абырг аҽҵыс атәы аҳәара данналагоз аамҭазы Сафарбеии Алиаси ашкол ахьтәи раара ақәшәан, иҳәаны далгаанӡа игылан изыӡырҩуан. Сафарбеи иҽҵыс заҟа бзиа ибоз аҵкысгьы еиҳаны ибо да-лагеит иахнагахьаз зегьы абырг иҟынтәи ианиаҳа ашьҭахь.

Алиас абарҭқәа зегьы игәаланаршәеит аԥшаҳәа-хьынтәи иаҳаз аҽы кьыркьырыбжьы. – Ҟәараса аб-жьы акәызшәа саҳаит. Исымбеижьҭеи иҵӡозеи. Из барц шԥас ҭахыз... Уара лассы-лассы иузаалозар акә хап, – Сафарбеи диацәажәошәа иаԥхьа игы-лаз аҟәардә днықәтәеит, убри аамҭазы димбаӡакәа Даҭа дааихагылт. Алиас ашырҳәа дҩагылт, аны-шәынҭра аҩнуҵҟа аԥсуа ҵасла агәыдибакылара шыҟамлоз идыруан, иаб иеиԥш дыԥхьаӡаны ихы наган игәы инадиҵеит. Даҭа иҷкәын Сафарбеи иԥсы ҭаланы дизаазшәа аҟынӡа игәы ааӡан, Алиас дааигәыдиҳәҳәалеит.

Page 165: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

165

Алиас Даҭа игәы злааникылаша ажәақәа иҿашәо-мызт. Илаӷырӡқәа изынкыломызт.

– Иаха ахәылбыҽха исаҳаит ушааз. Даара исҭа-ххеит снеирц, аха ианылашьцалак аныҟәара сцәы-уа даҩуп (Уи азы акәӡам дзаангылаз. Сара сеиқә-гәырҩаха снеир ргәалаҟара бжьысхуеит ҳәа азы ауп)…

– Ашьыжьымҭан сгылан сцеит, аха аҩны ушыҟаз сухьымӡеит. Уара ушҟа дцеит шаанӡа дгыланы ҳәа сеиҳәеит Чанҭа. Арахь схынҳәны сҿаасхеит. Аҩныҟа сымнеиӡеит, сара издыруан аԥхьа арахь, уашьа инышәынҭрахь, ушааиуаз. Амыцхә умгәырҩан. Иҟалаз ҟалеит. Сара уаара сазыԥшын, анцәа сиҳәон сыԥсы шҭоу уеибганы усирбарц. Аҳәара иҟасҵоз анцәа иҟынӡа инаӡазаап. Аӡәы иҿы иаму-ит, аха егьи иҿы срыцҳаишьазар акәхап. Уеибга-ны усызирхынҳәит. Шьҭа сыԥсрыгьы моу сымам. Сыҷкәын иҭыԥаҿы унагыланы сзырҽеиуа уоуп. Уаа-ла, аҩныҟа ҳнашьҭы, араҟа агылара азхоуп. Иԥсы уа-беит. Иага «дуеигәырӷьеит». Ҧсык еицышәхамзи... – Абас ааиҳәан, имахәар кны анышәынҭра ианааҭыҵуаз, ҽык нахьхьи анаӡараҿы иаацәырҵын, ахы рықәкны рышҟа аҿаанахеит. Аԥхьа избаз Алиас иоуп, ахы аҷашьара илаԥш ақәшәеит.

– Ҟәараса ауп иаауа, – иҳәеит деигәырӷьаны. Аҩыџьагьы рылаԥш адхаланы иазыԥшуа игылан, рыҽмырҵысӡакәа.

– Мап, уи Ҟәараса акәӡам, арантәи цқьа ишысым-богьы, иара шакәым сдыруеит... Заҟа исҭаху удыру-ама, избарц.

Аӡы иԥсыбаҩ амыхны ианааргаз иаргьы ашьҭалан иааит. Ауха шаанӡа ашҭа иҭагьежьуа иҭан. Сара усҟан уи збо сыҟамызт. Ашьҭахь исарҳәеит иҟанаҵаз, шьамханынӡа аҳаскьын ҿа илагылан, аха зынӡаҵәыкгьы аҿы нышьҭышьны, ҳаскьынк

Page 166: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

166

аҿы иҭанамҵеит. Ауаҩ иеиԥш иџьабозшәа, ахы ақәыжьны иакын, знык-ҩынтә иаабеит амардуан аҟынӡа иааины аԥсы дахьыкҿазахь иҩналарц аҭахы-зшәа, аԥхьатәи ашьапқәа амардуан ишаҿанаргылоз. Ауаҩы игәакьа даницәыӡуа еиԥш акәын ахымҩаԥгашьа шыҟаз.

Иумаҳацкәа иҟаларым, аӡы дахьамаз Ҟәараса ауп изы ԥшааз. Иара акәмызҭгьы зынӡа дҳамбаӡаргьы ҟалон. Ҳҳаблаҿы иахьагьы ирхамышҭыц, иааиқәшәа-цыԥхьаӡа Ҟәараса иҟанаҵоз иалацәажәоит, џьашьа-тәыс ирымоуп.

Ауха ашҭа иааҭымҵӡакәа иҭан, ашьжьымҭан ице-ит. Данаажуаз аҽнынӡа ахабар ыҟамызт. Дышьҭыхны анышәынҭраҿы ҳаннеи, ԥыҭк ааҵхьан еиԥш, иаргьы аакылсит имидагәидаха. Ааигәа имнеикәа, инахара-ны игылан иԥшуан, ахы акәаҽны.

– Шәыԥшырауазеи, шәанаџьалбеит, иҽы иҟанаҵо шәымбаӡои, ишьҭаланы иааит, – иҳәан аӡәы, аԥсыжцәа зегьы аахьаҳәын азыԥшра иалагеит, иџьашьаны.

Анышәынҭра ааигәанӡаҵәҟьа имааикәа ҵлак аҵаҟа иаҵагылан анышәынҭрахь иԥшуан, иаарыц-ҳаушьаратәы аҟынӡа ахы ақәыжьны, алақәа хҩо, их-туа, алымҳацәқәа ақәԥсаны. Зегьы уамашәа ибаны азыԥшра ианалага ашьшьы ҳәа иаахьаҳәын, ицеит.

Сыбжа аасымхны иаман ицазшәа ауха шаанӡа иҽгьы иаргьы срызхәыцуан. Иаакылсны даман ицаз-шәа сгәы ҟалеит.

Адырҩаҽны ҷкәынцәақәак ашьҭасҵап ҳәа сгәы ишҭаз ахала иааит. Агәашә ишаадгылаз еиԥш иаза-асыртит, ашҭа иҭалеит. Дақәтәан даазшәа сгәырҩа насхыԥсааит. Минуҭк иадамхаргьы, ауаҩы агәырҩа ӷәӷәа анимоу ихыԥсаар зыԥсоузеи. Ахәда снапқәа акәыршаны ахы аасгәыдсыҳәҳәалт. Акыраамҭа ахы сыдҵан иакын. Нас иаасыдҵын, аҩны ашьҭахьҟьа

Page 167: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

167

ицеит. Ашҭа ахи аҵыхәеи еимнадеит. Цәыӡк ама-ны иԥшаауазшәа акәын уажәы-уажәы иаангыланы ишынаԥшааԥшуаз. Аҵыхәтәан, иаақәгьежьаан, ашҭа аҵыхәан иҟаз аӡыхтарҭаҿы ихықәгыланы иҭаԥшуан. Уаҟа инаган акәын аӡы ҭтаны иахьаиржәуаз... иажәырц аҭахызшәа ақьышә нӡаанакылеит, аха имжәӡакәа иахыҵит. Абарҭқәа зегь рышьҭахь ашьшьыҳәа ашҭа инҭыҵны ицеит.

Уиаахыс, шамахамзар, иааӡом. Лассы ианысым-балак ихьаазгоит.

Цәгьала игәнызгоит, избозар ҳәа сашьҭоуп, ааигәа-сигәа џьаргьы иҟам. Ахара сара сызцом, сшьамхқәа мыжда ируам.

– Уи шьҭа шәара хьаас иҟашәымҵан. Иахьыҟазаалакгьы сара иԥшааны ишәзаазгоит.

Даҭа игәы ԥхарра хәыҷык ҭалеит Алиас абас аниҳәа.

– Уаала, дад, шьҭа аҩнынӡа ҳнеип. Уццакуазар-гьы ҟалап, уани уаби цқьа урымбац, уааныскылаӡом, аҩны уныҩнаԥшны уца, акрыҟаӡазар иԥсы иа-боит. Ҳабацәа, ҳабдуцәа ус ҳарҳәон. Аԥсы иԥсы акыраамҭаӡа аҩны иҩнахоит ҳәа. Ак ахьырҳәо акы ыҟазар акәхап. Уаала, дад, иара дуԥылом, аха изды-руада иԥсы уеигәырӷьаны иуԥылар.

Алиас аб ииҳәаз ажәак ахымҳәаакәа диццеит.Ашҭа дазааигәахо даналага, Сафарбеии иареи

анхәыҷқәаз хәмарырҭас ирымаз, ампыл иахьасуаз, аҵәыргыла иахьахыԥоз, ашҭа ацәа ахышәхит ҳәа Даҭа дыхәмаруа ианреиҳәоз игәалашәеит. Усҟан заҟа иԥшӡаз, ашҭа шьац цқьамзар ҳаскьынбашак ахы ааҵыҳәҳәар Сафарбеи иан илуӡомызт. Ишырҳәо еиԥш, ухәы нықәҵаны акруфаратәы аҟынӡа ицқьан. Уажәы урҭқәа зегьы ацәыӡхьан, абабира ахыҵәахьан. Даҭа дызланыҟәоз амҩа па заҵәык акәын иубоз. Ашҭа иакәыршаз аанда хыркы акаԥсара иалага-

Page 168: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

168

хьан. Џьара-џьара зынӡа икәадахахьаз аԥацхьқәа адҵан иҟан, арахә ҭамларц азы. Аҩны аҩнуҵҟагьы иибахьаз абаҟаз, аҭӡамцқәа, ахыб ақәа ахькылсуаз акәхап, бжаџьара ақьаадқәа кыдыжәжәаны ицахьан. Ажәакала, Даҭа дышмчыдахаз, агәырҩа ихы шеиҭаз иахьабалак ианыԥшуан.

Алиас иибақәаз игәы идырхьын, ихы ларҟәны, ииҳәо иҿа мшәо дгылан.

– Утәа, дад, маҷӡак уаатәа, шәыхьӡ ала ҳаԥшьак ыҵасҵан, ихыстуеит. Ҵәыцак иадамхаргьы иааным-кылакәа усзышьҭуам, – иҳәеит.

Алиас дтәаанӡа, ҳан дабаҟоу ҳәа дҵааит (Сафабеи иан лзы).

– Уи илыбаргәузеи, ажәбатәи амш, аишәа аргылара аҽны, ашьыжьымҭан агәылацәа аанӡа (ус илҭаххеит), лыҷкәын ихәы ҟаҵаны илыман иара иахь дце-ит. Ихәы иханы иқәыргыланы, ацәашьы алыркын, иблаанӡа дадтәалан. Ашьҭахь, дҩагылан лҿанаалха, анышәынҭра дахьынҭыҵыз дшьацәхныслан да-хьынка ҳаз, луаҭәа ахьынҿакыз ихжәеит. Цәгьаԥ-сышьала агәылаҳәсақәеи сареи (ахацәа мааицызт) дышьҭыхны даагеит. Агәаҟра даҿын, аха знык гьы лыбжьы ҭганы исыхьуеит лымҳәеит. Ичит, қыдуа-хәак иаҟарахеит. Ахәшәтәырҭахь дгамзар илзых-гом рҳәеит, аха гашьас илымааз, ахәцәа иааргаз убасҟаҩык ыҟан ахәшәтәырҭаҿы (Тҟәарчалҟа ргара иахәомызт, сакасала иргон, машьынақәак аанханы измақәаз ыҟан, абылтәы аиуа зеиуоу аӡәгьы има-мызт).

Ахәшәтәырҭахь дгатәуп ҳәа шырҳәоз анлаҳалак аҳә ҳәара далагон, аҩны саадәылган сшәыманы шәдәықә лар сҽысшьуеит ҳәа.

Ҩымчыбжьа лыԥсы ҭан. Ахьаа убасҟак дшаргәаҟуазгьы зныкгьы лқьыбжьы лмыргеит, ак сыхьуеит ҳәа мҳәаӡакәа лыԥсы лхыҵит. Уи аразҟы

Page 169: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

169

лыман. Лыҷкәын иахь дцеит, еицыҟоуп. Сара соуп агәы мыжда иқәхаз. Уи сҳәеит ҳәа уара уеибганы ухынҳәит, шьҭа исыхьлакгьы сыхьааит, унасхагыла-ны сышурҽеиуа здыруеит, Сафарбеи уакәу шәаҵәҟьа.

...Сафарбеии иареи рыхьӡала иҭеиҭәахьаз аҩы аҳа ԥшьа иааҭганы ҵәыцак аанимкылакәа ди мы-шьҭит.

Алиас иҩныҟа амҩа дахьынӡақәыз игәы иҵхо иҭаз Даҭа иакәын. Дызлаԥшқәаз зегьы рышьҭахь дрыцҳашьаны, сызлаихәарызеи, сызлаицхра-арызеи, изыҟасҵараны сыҟоузеи ҳәа ада аҽа хәыцырҭак имаӡамызт. Чанҭа ииҳәақәоз зегьы иры-ликаауан Ҟәараса ааигәа исымбац ҳәа агәала имаз. Иахьыҟазаалакгьы иԥшааны изаазгоит ҳәа игәы иҭеикит.

– Абасҟак аамҭа ахабар анумба, издыруада аӡәы идкыланы имазар?

– Аиаша сызуаҳәом, Алиас, зны-зынла саргьы уи еиԥш агәаанагара соуеит.

– Аӡәыр гәҩарас думоума?– Зны аԥрыцә ԥаны иааит. Уамашәа избеит.

Алиас, уара иумдыруеи аҟазшьа ҷыда иамоу. Иара иаамҷыдрахаз ааигәа уаҩԥсыжәла днанашьҭуамызт. Зегь ракәым, уареи сареигьы зны-зынла ааигәа ҳнеир ауамызт, ҳнапы иашьцылан ишыҟазгьы. Знызаҵәык иаасыдгылан, ахы сыднаҵеит, ишуасҳәахьаз еиԥш. Уи аԥсыжра ашьҭахь акәын. Уи аԥрыцә ҿыц ԥаразма, акәымзар акры ахыҵуазма? Аибашьра аԥхьа аԥрыцә иԥахьан, усҟантәи акәзар?

Мап, усҟантәи акәӡам, уи ԥытлахьан. Аибашь-ра ашьҭахь ауп ианызбаз. Зынӡа ҿыц ԥаран. Аҽы аԥырцәқәа аҽа хәыцрак изцәырнагеит Алиас. Ақырҭцәа Аԥсны иақәларц аҽазыҟаҵара ианаҿыз аамҭазы акәын. Дара рҳәашьа, Митингоба ҟарҵон. Қалақьцыԥхьаӡа ргәабанақьқәа рыҵаҵаны, ҵаҟа

Page 170: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

170

иианы Аԥсны аԥсуаа ықәаҳцаанӡа ҳгылом, амла ҳҽаҳаргоит ҳәа шьыжьымҭан инаркны хәлаанӡа иҳәҳәон, иҟаауан, ианаалашьцалак маӡала акрыфа-ра, акрыжәра иалагон. Ачашә уҭахума, аҳәаҵарақәа уҭахума, абысҭа уны иуҭахума, акада егьыз-зымдыруаз ираадыргон, апатриотцәа рхәы ҳәа. Ҵхыбжьонынӡа ирҳаҳауан, арыжәтә меигӡарахда ирырҭон. Ҵхыбжьон нахыс рыбжьы агара иаҟәыҵуан. Ҳәсагьы хацәагьы рҽеилажьны ицәан. Арахә реиԥш рыҵа ҟьашьны иҩагылон. Ус заҟантә амитинго-ба ҟарҵахьаз, аха акада егьззымдырқәозгьы ргәы ԥҵәаны рхәы рызнагара ианаҟәыҵлак, еимпны ицон. Ас заҟантә иҟарҵахьаз. Уажәыгьы ус акәхоит ҳәа акәын бжеиҳараҩык ргәы ишаанагоз.

Аха ԥасатәиқәа раан еиԥш акәӡамкәа, уажәык зынӡа иаапкны иҟан. Сафарбеи Аҟәа дыҟан, аҭа-гылазаашьа еилкааны данаа, адырҩаҽны гәыԥҩык Аҟәарашаа рыҷкәынцәа еизганы иреиҳәеит уахьын-тәи иааигаз ажәабжь. Ақырҭцәа аҽаамҭанык еиԥш акәӡамкәа, Аԥсны иақәларц аҽазыҟаҵара ишаҿу. Анцәа иумҳәан, аха уи еиԥш аныҟала ҳазегьы ҳаидгылароуп. Ҳаԥсадгьыл ахьчаразы, иҳәеит. Дар-гьы шыхиаз рҳәеит, уиалагьы ҳаилгеит.

Аҽны даара ашоура ӷәӷәа ыҟан. Ахәылбыҽха ҽыкәабара аӡахьы ҳцоит ҳәа еибыҳәан ианыҟаз аамҭа дагхан дааит Сафарбеи (ҽыкәабара иҽы имамкәа дцаӡомызт). Гәалак имазаргьы инирԥшӡомызт, есқьынгьы ихиҿы ихаччо акәын дшыҟаз, аха уи аҽны еиԥш Сафарбеи иҿы ихалашо Алиас димба-цызт, ажәҩан ахь дзыԥыруамызт, уаҳа егьигмызт. Гәырӷьарак дышьҭыхны даман.

– Сафарбеи, абасҟак узыргәырӷьо иумоузеи? Исоуҳәар саргьы сымгәырӷьари, – иҳәеит Алиас. Са-фарбеи дахь гәырӷьоз иаргьы игәы иахәаны.

– Макьана иуасҳәаӡом.

Page 171: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

171

– Ианбасоуҳәои? – Аамҭа анааилак.– Уара, ахәмарра уаҟәыҵны иҟоу саҳәи!– Иҟоу Ҟәараса уазҵаар иуанаҳәоит.– Ацәажәара адыруама? Уи акәын иаумырҵацыз.– Иуҳәо саҳауеит, аха Ҟәараса уахьахәаԥшуа ак-

гьы адумбалаӡои?Усҟан ауп ианызбаз, аԥрыцәқәа шԥаз. – Заҟа ианаалозеи? Заҟа иԥшӡаны иԥоузеи?

Изԥада?– Уара утәала, изԥарыдаз?– Ахаҵа напы ишамԥаз здыруеит.– Араҟа уара уиашоуп. Уи зԥаз анацәкьара

ԥшӡақәа сгәаҵа иҭалан, сырԥеиԥеиуа сҟарҵеит. – Дызусҭада, смыргәаҟкәа исаҳә, уара, сара са-

кәызҭ гьы иуцәызӡарызу? – Алиас ҽыргәаа ҟаҵаны иҭаххеит зыбзиабара деимҵарсны дызго дызусҭоу иеиҳәарц.

– Умыццакын. Макьана дызусҭоу сызуаҳәом. Сара исымҳәаӡаргьы, Ҟәараса иуанаҳәоит. – Абас еизыгәдуны, еихәмарны, еилафны еидыҵит уи аҽны.

Уи ашьҭахь Ҟәараса аԥрыцә уаҳа иалацәажәо изыҟам леит. Аибашьра иалагеит. Дара реиԥш, Ҟәарасагьы аибашьра иалагылан, аԥрыцә напыдаха ибӷьаауа иԥыт ланы.

Алиас абри ахҭыс дшазхәыцуаз иҩны ашҭа дынҭалт. Дшааз заҳаны иеизаз даарылагылт.

Чанҭа иҷкәын иаара деигәырӷьаны ачара ҳзиуазар акәхап ҳәа, гәырҩа змаӡамыз гәылацәақәак, рҽазыҟаҵаны иԥшын. Аха Чанҭа ус ҟаимҵеит. Зыԥсадгьыл ахьчара зхы ақәызҵаз аҷкәынцәа, аӡӷабцәа ршьа макьана адгьыл иқәымбаӡац. Сара сыҷкәын деибганы дхынҳәит ҳәа, инеиҵыхны ачара изура анцәагьы исанаишьом. Иара ихаҭагьы иура-

Page 172: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

172

ны дыҟаӡам ҳәа дазхәыцны, инеиҵыхны акәымкәа, иааркьаҿӡаны иҟаиҵеит.

Уи иаҵанакуаз еилызкааз зегьы ҳаҭыр ақәырҵеит. Иззеилымкааз ирылухузеи ҳәа Ҟанчобеи Чанҭа дааид-гыланы иеиҳәеит. Сеигӡаны иҟасымҵаз џьыршьоит ҳәа, игәи-игәи еилаԥшуа дгылоушәа аниба.

Аҵх агәы еиҩнашаанӡа еидтәалан, рызхара из-еибабомызт, рызхара рзеибыҳәомызт. Ирхыр-газ аамҭа хьамҭа иалацәажәон, рҩызцәа иҭахаз ргәаладыршәон. Зегь раԥхьа дыргәаладыршәеит Сафарбеи. Уи агәымшәара имаз уаҩы ишима-мыз. Ажәылараҿы шьҭахьҟа ахьа ҵшьа шизымды-руаз. Аӷацәа «Ақәыџьма аапкы»ҳәа ишишьҭыз... Ихьӡ раҳар, аҩ ишыҵалоз... Иҩызцәа заҟаҩы аԥсра иахирԥахьаз... Аҵыхәтәан иара иҭахашьа шыҟалаз. Уи дфырхаҵаны аамҭақәа зегьы рзы дшаанхо... Рыԥсы ахьынӡаҭоу дшырхамышҭуа ҳәа ражәа нымҵәаӡо, ԥыҭҩык иӡбахә аҳәара ианаҟәымҵӡа, Алиас изымычҳакәа рцәажәара ааникылан, агәы-намӡара имаз аацәырган иреиҳәеит. Ишышәҳәо еиԥшҵәҟьа Сафарбеи шәгәы дыҭнымҵәо дҭазгьы, иара иаб рыцҳа, уаҩ дызмаӡамкәа изаҵәны иаанхаз, уԥсы шԥаҭоу ҳәа аӡәыр шәидҵаалахьоума ҳәа.

Аҭак аӡәгьы изыҟамҵо, инеиҿаԥшы-ааиҿаԥшуа иаанхеит. Ҵәыцақәак иааныркылахьазгьы нархыԥ-сааит.

– Иуҳәаз саҳаит, Алиас, уиашоуп, аха уахала уи ҳалацәажәарым. Хара ҳагоит. Еибыҳәатәқәоу рацәаны иҳамоуп, – иҳәан, Ҟанчобеи иҽныбжьеигалт. Аӡәы акы иҳәарц иҭаххазаргьы, Ҟанчобеи ишьҭахь зегьы рҽааныркылт.

Ҟанчобеи акрызхызгахьоу, акрызбахьоу, акрыз-дыруа ҳәа ззырҳәоз иакәын. Иажәа ԥҟан, ишәан, изан, акы узалхуамызт, акы узалаҵомызт. Дыџьбаран, аха есқьынгьы аиаша иашьҭаз уаҩын. Аибашьра

Page 173: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

173

ҟалаанӡа атәанчарахьы дцахьан. Аибашьра ианала-га сышықәс рацәоуп ҳәа мышкгьы иҩны дымтәеит. Абџьар аанкыланы дзеибашьуамызт, аха иара иеиԥш зықәрахь инеихьаз еизганы иеибашьуаз аҷкәынцәа рыцхырааразы абыргцәа ргәыԥ еиҿикааит. Аԥхьа игылаз зҵааран аҷкәынцәа бџьарла реиқәыршәара. Ақыҭаҿы аӡәык-ҩыџьак рыда, рдәына шьыгак акәымзар, еибашьыга бџьарк аӡәгьы имамызт. Ус акәын егьырҭ ақыҭақәа рҿгьы ишыҟаз. Згәы иаа-нагодаз, ҳаишьцәоуп, ҳаиуацәоуп, ҳаигәылацәоуп ҳәа иҳацәнымхошәа зхы ҳарбо иҳаланхоз агырцәеи ақырҭцәеи игыгшәыгханы иаҳҿагылоит, рабашьтәыс иҳауеит ҳәа. Раԥхьатәи амшқәа раан хәы змаӡамыз еибашьыга бџьарс иҟаз автомат акәын. Гәдоуҭа ица-ны иаарымгакәа аҽаџьарантәи аагашьа амаӡамызт. Уаҟагьы амалаҳәа иаауурҭахуаз, автоматк ҩба-хԥа жәхьа рыхә аҭахын. Урҭгьы амалаҳәа ироуазма, џьарантәи иааргозаргьы акәхап. Ҟанчобеи игәыԥ иманы уахыки ҽнаки рыла Аҟәарашаа дрылаланы аԥара еизигеит. Аҷкәынцәа ирыман иахьцаз (ԥсҭала, бнала, шьхала ицар акәын. Лбааҟа амҩақәа аӷацәа иркын) х-автоматзаҵәык роуп иааргаз. Есымша рыхә иазҳауеит, ԥарала ишәылымшозар, шьара-лагьы иауеит... Уажәы ахьымаҭәа агара иалагеит автоматқәа рзы ҳәа рарҳәеит.

Ҟанчобеи игәыԥ иман деиҭарылалаеит, аха мап зкыз рацәаҩхеит. Аԥара иҳамаз капеик аанмыжькәа ишәаҳҭеит, ахьымаҭәа ҳамаӡам, иабантәиаагои рҳәеит. Егьалымҵуашәа аниба аҳабла зегьы еизи-геит. Ажәа мыцхәы ианакәзаалакгьы ицәымӷын, иахьаҭахыз ахьы еиԥш иҿыҵышәшәон, иахьаму-аз аҳәаццышә еиԥш ихны иҿыҵуан. Иҭаҵәахны ишәымоу шәара шәышьҭахь ҳаӷацәа цәыргатәыс ирышәымҭан. Абриакзаҵәык ауп иреиҳәаз еизигаз. Зегьы еилыркааит Ҟанчобеи иажәа иаҵанакуаз.

Page 174: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

174

– Ҳаҷкәынцәа ҳрыхьчарц бџьарда ҳаӷа иҿагылоу, ҳала ишабо иҭахозар иҳамоу заҳҭахузеи? Сара исы-моу абри ауп, шәаргьы ицәырыжәга ишәымоу, – иҳәан, ажәытәтәи ахьтәы сааҭ, императорски ҳәа изышьҭаз, иабду I аимпериалисттә еибашь-ра иалахәыз, Австриа данеибашьуаз иааирԥышз агәымшәаразы, аурыс генерал ҳамҭас ииҭахьаз, иџьыба иааҭиган, зегьы ишырбоз инаганы астол инықәиҵеит. Уи адагьы иԥҳәыси иԥҳацәеи хьымаҭәас иаарымаз – амацәазқәа, алымҳарыҩқәа, анапхаҵақәа, ахәдахаҵақәа еизганы иикыз аилаҳәара, исааҭ ду ахьықәыз инавеиҵеит. Ҟанчобеи иҟаиҵаз анырба, ажәак ахымҳәааӡакәа иҩагылан ицеит. Хәылбыҽханӡа хьтәымаҭәас ирымаз зегьы еизганы иааргеит. Уи ашьҭахь, мышкы-ҩымш рыла автоматқәа аахәаны иааганы аҷкәынцәа рыбжеиҳараҩык бџьарла еиқәдыршәеит, иааиԥмырҟьаӡакәа ахы иаҿагыланы иеибашьу-аз аҷкәынцәа рхәы ҟаҵаны ирызгалатәын. Аӷацәа афымцастанциа ԥыржәеит, аӡлагарақәа тәеит.

Ак ҳазӡуам, ак ҳазжәуам ҳәа ахәыҟаҵара иазкыз аҳәара ианалага, еиҭах иааиган, ҳаиқәырхаҩцәа ишрыхәҭоу иныҟәҳамгар, ҳҭархаҩцәа ҳахәда иқәыр-тәаны ныҟәгатәыс иҳауеит. Ус ҳҟаларц шәҭа хымзар, алуқәа афыӡлагарақәа рҟынтәи иааганы, ҳабацәа анкьа ишыҟарҵоз еиԥш, напыла аџьықәреи алагара ҳалагароуп. Ашыла анҳау зегьы ҟалоит. Амҿи амцеи ҳамоуп, афымца ҳамырхызаргьы, иҳәан, ҽнакгьы хәыда, фатәыда еиԥҟьо иҟаимҵеит аибашьцәа.

...Уахала уи алацәажәара аҭахым, уаҵәы ҳаиқәшәап, ҳазлацәажәаша рацәаны иҳамоуп», – ҳәа иацуха, уа-ара ҳаигәырӷьаны ҳантәаз, изысҳәаз аԥхьа уареи са-реи ҳааидтәаланы, уара ҳумбеижьҭеи ҳшыҟалаз атәы уасҳәарцаз ауп, – ҳәа далагеит Ҟанчобеи, адырҩаҽны Алиаси иареи рхала ианеизынха.

Page 175: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

175

– Аиааира аагеит, ахақәиҭра ҳауит. Анцәа ишиҳәара ҳаҟоуп, ԥаса иубахьоу ҳакәӡам ҳәа акәхап исашәҳәарц ишәҭаху, – иҳәеит Алиас даа-ра дазхәыцны, Ҟанчбоеи ииҳәаз ажәақәа ҩ-ҵакык шрымаз аҟара ацәалашәара шиоузгьы.

– Рацәак ҵӡом, анкьатәи сҩызак Аҟәантәи дсас-ны дысҭааит. – Алиас изҵаара аҭак шиашаз иҟам-ҵаӡакәа, дахыкәшаны абас дналагеит Ҟанчобеи.

–Институтк аҟны аҵара еицаҳҵон. Ҳаибам-беижьҭеи такә ааҵуан. Данызба адунеи азна сеи-гәырӷьеит. Ажәытә-аҿатә иаҳхаагахьаз зегьы ҳгәа ла ҳаршәеит. Дҵарауаҩ дуны, иацәажәара, изы-ӡы рыҩра агәахәара снаҭон. Аибашьра еилгеит, аиаа-ира аагеит, ахақәиҭ ра ҳауит. Шьҭарнахыс, ҳаԥхьаҟа ҳашԥаҟалои ҳәа ақыҭаҿы ҩыџьа ааидгыларгьы уи акәын изызҵаауаз. Аӡә ас иҳәоит, аҽаӡәы арс иҳәоит, иҟаҵәҟьоу аиаша хыхьынтәи ҳара ақыҭауаа ҳҟынӡа иааӡаанӡа, акырынтә аҽаԥсахуеит. Уара, Аԥсны аҳҭнықалақь, жәлар рразҟы ахьырыӡбауа аҟынтәи уааит, иузымдыруа иҟоузеи. Иаҳзыԥшузеи ҳаԥхьаҟа? – ҳәа сизҵааит.

– Аиааира агара аҵкыс еиҳау иҟоузеи, аха аиқәырхара еиҳагьы еиҳамзар еиҵаӡам. Ажәытә-ӡатәи хҭыск уасҳәоит. Изуасҳәогьы, иахьатәи аамҭа ҳгәаланаршәоит азы ауп. Карфагенаа аибашь-ра рҽазыҟаҵаны, аримлианцәа ргәырҽанӡамкәа ишыҟаз рыхәҵәы ыҟаӡамкәа иқәаҳхуеит ҳәа ирықәлеит. Азныказы атәыла цҟьашәҟьа ирхәашаны иахысит. Аха ашьҭахь, аримлианцәа аибашьҩы ӷәӷәак даарылҵын, ар ааизганы раԥхьа днагылан, Карфагенаа рыбжеиҳараҩык ҭадырхеит, иаанхаз ртәыртәит рыдгьылгьы даргьы. Амилаҭ аиааира дзыргаз агенерал, аримлианцәа ихьӡ ҳәаны иқәуа иалагеит. Аибашьра ашьҭахь ажәлар ҭынч анхара-анҵырахь ианиас, аҳәынҭқар ҿыц далхтәхеит.

Page 176: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

176

Уи иара иакәхароуп. Аибашьраан ҳаиқәзырхаз, аҭынчра аангьы ҳанирхоит рҳәан, еицҿакны ргене-рал ҳәынҭқарс дҟарҵеит.

Анхара нап адыркит. Мҩас ҳазқәиҵозеи ҳәа зегьы изыԥшын.

– «Шәреихс... ишәшьы... иншәырҵәа... ихшәыр-ҵәа... Сыдҵа назмыгӡо, сиеигӡом, ԥсышьацәгьа исҭоит», – ҳәа аибашьраан акоманда ҟаҵара дзышь-цылахьаз, аибашьра ашьҭахь ҭынч анхара данаха-дыргыла, дзаҟәымҵит.

– Уара хыхьынтәи Анцәа уаҳзааишьҭит... Уара уҳамамзар, ауаса лашәқәа ҳреиԥшхон, – ус иазҳәоз амҵақьақьаҩцәа изааигәеитәуан.

– Уара унцәам, ушуаҩу ухоумыршҭын, – ҳәа иааиҿагылан иазҳәоз ицәыхареитәуан, ргәаӷ икуан.

Ирацәаҩхеит ацәгьаҳәаҩцәа. Излымҳак ацәгьа изызҳәоз рахь икыдҵан иман, егьи илымҳа – аб-зиа изызҳәоз рахь. Ацәгьаҳәаҩцәа заҟаҩы ақәӡыда абзиа здызкылози ацәгьа здызкылози илымҳақәа рцәеилаганы.

Иакәым изызҳәоз иуаа аума иақәиршәон, акоман-да анриҭалак акгьы зхарамыз мшы мыжда рзыҟалон, иахьагаз уаҩы изымдыруа, аҳәахәда еиԥш иныбжьаӡ ицон.

Ивагылаз аӡәырҩы аибашьра иацәынхаз ажәлар рмал еизыҳәҳәаны агара иалагеит, ирызгоз рге-ит. Амал еимҵәаҩцәа рыжәлар рзы, ақәылаҩцәа раҵкыс еицәаны ирзыҟалеит. Рызхара ҟамлеит. Сара саҵкыс уара еиҳаны иугеит ҳәа ажәлар рмали атрофеи ҩнқәеи еимакны рыхқәа ҭеибаҽҽуа аҟынӡа инеибагаз ҟалеит. Атрофеи мыжда ауа-аҭынха ҳәа еилых амаӡам.

Усура ыҟамызт, ҳәысура ыҟамызт, уи аганахь ала кашырран, хақәиҭран. Акыр зызгаз акрифон, егьыз-зымгаз «ачгара иҵан», имлашьуан.

Page 177: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

177

...Атрофеи агараҿы аума, ажәлар рмал аимҵарс-раҿы аума, зыламыс зымҟьашьыз, излаԥшуази из-лагылази анырзымычҳа ртәыла ааныжьны ацара иалагеит, аҭа гы лазаашьа аҽаԥсахаанӡа ҳхынҳәуам ҳәа. Уи ашьҭахь ауаа ргәы каҳаит, акы рнапы иам-куа иҟалеит. Ашьа каҭәаны ахақәиҭра аазгаз, ирацәаҩӡаны, ҳанеибашьуаз ҳазҭамхазеи рҳәо аҟынӡа инеизаап.

– Сара уара уҟынтәи исаҳарц исҭахыз аибашь-ра ашьҭахь ақалақьуаа шыҟалаз атәы акәын. Уара ҩ-нызқь шықәса рышьҭахь иҟалахьоу ауасамырҳәыга цәыругеит, ауасарҳәыга анбасоуҳәои? – ҳәа сагьах-лафит.

– Уантәи сзалагаз иааркьаҿны аҭак усҭарцаз ауп. Ахаан иҟамлаӡац ажәлар ирзыҟалеит ҳәа ацәажәара уаламгази. Суқәшаҳаҭым. Адунеи гьежьуеит, ихынҳәуеит, иҟамлац ҳәа акгьы ыҟаӡам. Ихароуп, ихараӡоуп ҳәа иуԥхьаӡо аамҭеи иахьа ҳазҭаглоуи еизааигәахан, еиқәҿырҭуашәа ауп ишызбауа. Анцәа иаамышьҭахь сара соуп ҳәа ажәлар рыхәда иқәтәаны изыргәаҟуа аҳәынҭқарцәа наларшә-ааларшәны иҟамлар ауӡом. Аха ҳара ҳтәы аибашьраангьы аиаа-ира ҳиргеит, аҭынч ԥсҭазаарагьы аиҿкаара даҿуп, излеилшо ала. Ажәлар аԥсеивгарҭа риҭеит ҳазшаз злыԥха ҳауша, – иҳәеит, абас ҳшыҟоу ҳаанхарыма ҳәа даныскӡа. – Ишыдыдуа еиԥш ақәа леиуам ҳәа баша ирҳәаӡом. Ҳаргьы анцәа ишиҳәара хҟалоит. Амала, аамҭа аҭахуп. Ҳарҭ аԥсуаа ачҳара ду змоу уа-ауп. Ачҳара змоу есқьынгьы аиааира ргоит, – иҳәеит сысас ицамҭаз.

Сысас данца ашьҭахь, исеиҳәақәаз срызхәыцуа саналага, аиаша уасҳәап Алиас, сгәы каҳаит. Ҳаԥсадагьыл агәы ахьеисуа ҳаҳҭнықалақь аҟынтәи дааит, ажәабжь бзиақәа ааимгакәа дҟаларым ҳәа ауха ацәа ҳагаанӡа, азҵаарақәа иҭара саҿын. Аи-

Page 178: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

178

башьра ашьҭахь ақыҭақәа шгәыгәҭажьхаз, ауаа рхы зқәыркуа рзымдыруа ианаанха, иқәҵны ақалақьқәа рахь ацара ишалагаз, ақыҭақәа шҭацәхаз «Хыхьтәиаа»ирбарҭамзар ҟалап, акәымзаргьы рна-пы араанӡа имааӡацзар акәхап умҳәозар, асҵәҟьа ҳаанрыжьуамызт ҳәа аниасҳәа, абас аҭак сиҭеит.

– Уара мышрак иақәшәаша, ақыҭақәа рҿы арҳәреи ақәылареи ҵыхәаԥҵәашьа рмоуит. Уаҩы ишимбац еиԥш арахә рӷьычра ҵысит уҳәеит, арахә ракәым, ауаа рӷьычра иалагеит. Хыхьынтәи иҳахәаша ҳәа акы ҳауеит ҳәа шәазымԥшын, иахьазы шәара шәхы шәахәароуп. Шәқыҭақәа еиқәшәырхароуп. Аԥсуаа ҳаламыс ақыҭаҿы ииуеит, ақалакь аҟны иԥсуеит. Уи сара исымҳәаргьы шәара ижәдыруеит, – иҳәеит, уи иааидыруаз имырҳәакәа дшысымшьҭуаз аниба.

– Усас дызусҭаз ихы-иҵыхәа нагӡаны исоумҳәеит, аха акрыздыруаз аӡә иакәымкәа дҟаларымызт.

– Алиас аиаша уасҳәоит, уи иакәмызҭгьы хыхь иҟоу уазҳәодаз. Цәгьамыцәгьас иҟоу зегьы ақыҭақәа рҿы акәыз џьысшьон иахьыҟалоз. Уи излеиҳәаз ала, хыхьынтәи акәзаап, ацәгьоура, ацәгьаҳәара, аԥсымҭәра, жәлар рмал аимҵәара – ачымазара ҿкы «ахьиз».

– Ус акәзар, хыхьынтәи иаазаап уи ачыма-зара ҿкы... Гәыбӷанс ируҭозеи ақыҭауаа. Абзиа рбар иаҿымԥшуази, – иҳәеит Алиас. Ақыҭақәа ианакәзаалакгьы мал дук рыманы, аханқәа дыргы-ло иҟамлаӡацызт, аха амалқәа рмал ҳәа изышьҭоу Аԥсуара рыман. Еиҳабы-еиҵбы ҳәа аихаҵгылара, ҳаҭыр еиқәҵаны ажьрацәара, аидгылара, аизыӡырыҩра, аибачҳара, аицхыраара абарҭ зегьы еидкылан измоу Аԥсуара ауп. Аиаша уасҳәап, Алиас, иахьа Аԥсуара хәыҷы-хәыҷла иаҳцәыӡуа иалагеит.

– Ус еиԥш ҟалашьас иамоузеи, ҳаԥсуареи ҳаԥсадгьыли ҳацәзырӡырц иаҿу зусҭцәада? – Али-

Page 179: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

179

ас ихаҿы изаагомызт Ҟанчобеи дызлацәажәоз. Урҭ амыждақәа аҵаханы иқәҵны ианцоз рыԥсадгьыл ахь иҳамаз абзиарақәа дара иргазшәа, рыгмыграқәеи руаҩымрақәеи ҳара иаҳзаанрыжьызшәа ауп џьоукы-џьоукы ҳауаа рхы шымҩаԥырго. Дара, урҭ амыждақәа, ракәын аԥсымҭәқәа, аӷьычцәа, амыцҳәацәа, «Аԥсны зырҳәуаз» ҳәа акәын ҳабацәа урҭ ишрышьҭаз. Рхы иақәнадмыргоз ҳәа иҟаз. Урҭ рхы иаҭәарымшьоз, ҳара ҳтәқәа рхы иаҭәаршьо иа-лагама? – Алиас иаҳауаз еиҳа-еиҳа игәы канажьуан.

– Уаанӡаҵәҟьа ҳамнеиц, Алиас, аха уахь амҩа ҳақәуп. Иахьа аӡәык-ҩыџьак ракәзар ҳцәа ԥызҽуа иҳамоу, уаҵәы раҟара рыцлоит. Ҵәак шә-ҵәак ар-баауеит рымҳәои. Аӡәи аӡәи еибаҟьашьуеит. Иа-анкыламзар, аԥсыуа қыҭак ашьҭахь игыламыз, ауаа бзиақәа злыҵуаз ҳқыҭа ацәа ԥырҽуеит: Абас ҳшыҟало збагәышьоит, аха исымчузеи.

– Зегьы еиԥшхеит ҳәа ишәҳәо сызхаҵом. – Алиас, иуҳәо еилыскааратәы сыҟоуп макьана.

Аха убри еиԥш аамҭа ҳааины ҳааҭагылеит, гаӡак шәҩык аниргаӡо, ҟәышк аӡәызаҵәыкгьы даниз-мырҟәышуа.

– Ҟанчобеи, шәара акыршықәса ақыҭа зе-гьы еидкыланы ишәыман, цәгьароума, бзиаро-ума зегь шәырҽеиуан, зегь шәырԥшӡон. Шәара ишәҭаххазҭгьы, ҳауаа ишышәҳәаз еиԥш аҟынӡа ишымнеиуаз агәра згоит. Шәгәы сасырц сҭахым, аха абас ҳцәаԥҽыгаха ҳшыҟало збагәышьоит, аха исылшагәышьозеи ҳәа ишәҳәаз агәра сызгом.

– Иуҳәо саҳауеит, Алиас, аха аԥсҭазаараҿы уи ус ауп ишыҟоу, ахы шьҭухыр, аҵыхәа уцышьҭызхуа ду-мазароуп.

– Уара уиашоуп, Алиас, аха иахьа ҳқыҭаҿы зеиԥш уск азы уназыдгыланы акы назоуҳәаша, еилызкаа-ша, иудгылаша ҳәа сықәлацәа аӡәык-ҩыџьак рыда

Page 180: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

180

уаҩ дыҟам. Зыҷкәынцәа ҭахаз бжеиҳараҩык агәырҩа рҽырзамымхит, иаражәит. Рызегьы акрыздыру-аз, акрызбахьаз ракәын. Даҭа деибганы дыҟазҭгьы, имацара ақыҭа зегьы дазхон. Иҷкәынзаҵәы иҭахара ибӷа ԥнаҵәеит. Иҩны ддәылҵӡом. Имшқәа ԥхьаӡо дтәоуп. Иҷкәын ишьҭахь иара иԥсы ҭаны адәы дахьықәу иҭахӡам.

– Сшааиз еиԥш ибара сцеит. Акыраамҭа ҳаид-тәаланы ҳаицәажәон. Изаҟаразаалак аказы ихы да-хашшаауамызт, аха ила ихызбаауан Сафарбеи иԥсы зыхҭниҵоз, иҩызцәа ицеибашьуаз, аӡәык-ҩыџьак раамҷыдрахаз, уԥсы шԥаҭоу ҳәа уаҩ дахьидымҵаалоз игәы шинархьуаз. Аха рымам, зегьы еилахоуп. Уара уеибганы ухынҳәит. Шьҭа аԥсра сацәшәаӡом, иара ахәаша еиԥш унасхагылан сышурҽеиуа здыруеит, иҳәеит. Ииҳәаз сылахь шеиқәнаҵаз имбакәа дыҟам.

– Сара стәы аибашьраан атәыла ирбгеит сҳәа-ӡом. Егьырҭ иҭахазгьы иҩызцәа роуп. Аԥсад гьыл рхы ақәырҵеит. Аагарҭа змаз рыҷкәынцәа рзы рнышәынҭрақәа цырцыруа ирзыҟарҵеит. Абаҟа-қәа рхадыргылеит. Сара сеиԥш алшара змам, урҭ рацәаҩӡоуп, ианыржуаз, ԥацхьла еибадыркыз аан-дақәа роуп иахьагьы рнышәынҭрақәа ирыкәыр-шоу. Џьара аӡәы хаҳәык ааганы иакәсыршоит ҳәа далагаргьы излааигозеи, аидарашьҭыхга амашьына ҳамам, атрактор ҳамам, абульдозер ҳамам.

– Ҟанчобеи, ишәҳәо сзеилкаауам, аибашьра ҟалаанӡа зегьы ҳамамзи, аидарашьҭыхга амашьы-нақәа хәба, атракторқәа аки-аки еиԥшымкәа, ачаихыхгақәа налаҵаны, ацәаӷәага уҳәару, алаҵага уҳәару, арашәага уҳәару, зегь рыла ҳаиқәшәаны ҳаҟамзи, акызаҵәыкгьы аанымхаӡакәа изгазеи? Ҳаӷацәа ықәҵны ианцоз иргама? Алиас, аколнхара ақыҭанхамҩа атехника уанеиҳабыз иааидукылахьаз акызаҵәык аанымхеит. Ҳаӷацәа ықәҵны ианцоз

Page 181: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

181

ирзымгеит, аха ашьҭахь ҳара ҳрыхьӡаны ҳнапала ираҳҭеит.

– Ҟанчобеи Чагә-иԥа, ишәҳәаз иаанаго сзеи-лымкааит. Аибашьра анеилга ашьҭахь ҳаӷацәа ирааҳархәеит уҳәеит. Ҳара иахьа напыла ҳцәаӷәоит, напыла ҳлаҵоит шәҳәеит. Ачаирҭақәагьы кашәыжь-ма, санаауаз сахьына ԥшуаз ҳчаирҭақәа ихыр ффам-кәа, иҵрыффамкәа, абна иаганы игылоуп, иҟалазеи?

– Аҟаҵара ҳаҟәыҵроуп, иаҳзаԥсам. Иаҳнаҭазеи, аҽа культурак аарыхрахь ҳаиасыроуп рҳәеит хыхьынтәиаа. Урҭ ирҳәо хыԥашьа амаӡам, урҭ «нцәақәоуп». Анцәа ду иаамышьҭахь ҵаҟа иҟоу дара роуп.

– Ачаи ацынхәрас иҟашәҵозеи зырҳәа хыхьтәиаа? – Иҟаҵатәқәоу ҳәа ирҳәаз рацәоуп, аха зегь раԥхьа

иҟаҵатәу ҳәа зыӡбахә рҳәаз акәыкәбаауп.– Нас, акәыкәбааҟаҵарахь ҳаиасуама? – Ҟанчобеи

дыхәмарны иҳәаз џьишьан Алиас дагьарччеит.– Хыхьынтәи иҳәоуп, шьҭа иҟоумҵан агәы умазар! – Ҟаҵарас иаҭахузеи, абнаҿы ииуеит, ахала иҟа-

лоит, аха уи аԥсуа ичысым. Акәыкәбаафаҩцәа ҳәа изышьҭоу аҽауаауп. Ҳара беиарас иҳамаз ачаи акәын, мап, уи кажьшьа ҳамаӡам. Ақыҭақәа зегьы аҟәыҵыргьы, ҳара ҳзаҟәыҵуам. Кәыкәбаала ҳара ҳзынхом. Ачаифабрика аргылара даара аџьабаа ада-абалеит, ахәгьы аколнхара аума иазтәеит, аха аи-башьра ианалагаз ашықәс азы иҟаҵаны ҳалгеит. Ма-ругас иаамоу зегьы Италиантәи иаагеит. Уи иҟанаҵо ачаи ахаҭабзиара акырӡа иҳаракхоит, ахәԥсагьы духоит. Атәым ҳәынҭқаррақәа иаархәо аҟынӡа иб-зиахоит. Анхацәагьы арбеиоит, рхы иахәо иҟалоит, – иҳәеит Алиас.

– Алиас, уи ачаифабрика аӡбахә уара ицәырум-газҭгьы, угәы унархьыр ҳәа сацәшәаны, иахьыз уасҳәарц сҭахӡамызт.

Page 182: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

182

– Аӷацәа иԥыржәама, ирблыма, иахьзеи? – цәгьа-ла ҵәҟьа ицәымыӷхеит Алиас, убри аҟынӡа аџьабаа адиба лахьан уи аагареи аргылареи.

– Аӡәгьы имбылӡеит, аӡәгьы иԥимжәаӡеит, аи-башьраан кьыс амаӡамкәа иаанхеит. Аибашьра ашьҭахь мызкгьы имнеит, инагәҭасны ирҭиит.

– Изҭиида? Иаазхәада? – игәы ԥжәо далагеит Алиас.

– Ақыҭа аиҳабы иҭиит, Гыртәылаа ирааирхәеит.– Афабрика дуӡӡа ҳаӷацәа ишԥарааирхәеи? Азин

изҭада ажәлар идыргылаз афабрика аҭира?– Анцәа иҟынтәи, аҭынха ду димоуп, хыхьӡа

дтәоуп.– Исаҳақәахьан, аибашьра ашьҭахь ақалақьқәа

ракәым, ақыҭақәагьы цәдырҳәит. Аколнхарақәа ирымаз амал, ҵәымӷ жьакцакгьы аанымхеит, ирҟьеит, ирфеит ҳәа. Уигьы иашоума?

– Ишԥаиашам, Алиас, уара ақыҭанхамҩа атех-ника уанеиҳабыз, аколнхара атракторқәа заҟа амаз угәаламшәои? Ачаи хырффага, ацәаӷәага, алаҵага, арашәага, 10 раҟа ра хы еизганы иумамзи?

– Ааи ус ауп. Аибашьра аԥхьа аҿыцқәа ааҳамгази. Иа баҟоу?

– Акызаҵәыкгьы аанымхеит, аибашьра ашьҭахь инарыгәҭасны ирҭиит.

– Ажәлар идыргылаз афабрика дара ирхатәушәа аҭира иақәиҭызтәыда, насгьы изаадырхәада?

– Сара хаҭала исымбеит, аха ишырҳәо ала, жәыргьыҭаа ираадырхәеит ҳәа саҳаит. Аԥсны ачаи-аарыхра иаҟәыҵит ҳәа шаараҳаз еиԥш инагәҭасны ирҭиит. Гыртәыла иаадырхәеит, изларҳәо ала, ахә ду аҭнырхит. Иахьын ӡаиашоу сыздырам, аха, абга ахьҭам ала ҭашуам ҳәа шырҳәо еиԥш, хыхьынтәикгьы аӡәы аԥара шьҭыхраҿы далахәын, абжеиҳарак згаз-гьы иара иоуп ҳәа рҳәоит.

Page 183: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

183

– Ҟанчобеи Чагә-иԥа, хыхьаау хыдаау сыздырам, аха урҭ ачаи ӷас изышьҭырхызеи? Аԥсуаа иаҳчысым ҳәа (дара рҳәашьа) мацара акәу, ҳара иаҳзымдыруа уамак адырбалоу?

– Ибзианы исгәалауршәеит, Алиас, еизарак аҟны сызлахәыз атәы уасымҳәои. Аибашьра ашьҭахь акыраамҭаӡа аиҳабыреи ақыҭа жәлари иахәҭаз аи-мадара ҳамамызт. Ҳаԥсы шҭаз ргәалашәазар акәхап, ҽнак даҳзааит ҳразҟы зчаԥо. Ақыҭауаа еизырге-ит. Еизугода, аҿар рыбжеиҳараҩык ақыҭа кажьны, ақалақьқәа рахь ицахьеит. Ахәцәеи аҭаҳмадацәеи роуп иаанханы иҟоу. Зҵаара хадас иқәгылаз ачаи акәын. Ажәа ирҭеит хыхьынтәи иааз. Ачаи аҟаҵара аԥсуаа иаҳзаԥсам. Акы, уи ҳара иаҳчысхәым. Ҩба, уи аԥсуаа иҳаӷоуп. Уи аҟаҵара ҳаҟәыҵны, иаҳфар иаҳхаҳаша акәыкәбаахьы ҳаиасып ҳәа аусԥҟа ҳадаҳкыларц ҳаналага, абзиа ҟалар зхы знархьуа, ацәгьа ҟалар згәы иахәо, ацәгьаршыҩцәа аҵәы ҳахарҵарц иалагеит. Урҭ шәырзымӡырҩын. Урҭ зыхшыҩ аколхоз иаршаҟәахьоу роуп. Абас далагеит уи иажәахә аҟаҵара.

– Ачаи аԥсуаа ишԥаҳаӷоу, қырҭцәахама, цәгьа-рас иҳазнаузеи? Уи иаҳнаҭоз ала акәын ҳхы зланыҟәаагоз. Акәыкәбааҟаҵарахь ҳаиасуама? Аԥс-уаа кәыкәбаафаҩцәаӡам ҳәа зегь рҵыхәахь итәаз ажәа иршәит. Иааигәасигәа идтәалаз иқәыԥсаны дыркын, уаҳа дыдмырцәажәеит.

– Ачаи аԥсуаа ираӷоуп ҳәа баша исымҳәаӡеит. Ачаи акраҳнаҭоит ҳәа зҳәо хара имхәыцқәо роуп. Ачаи иаҳнаҭо аҵкыс иҳамнахуа еиҳауп.

– Ачаи аԥсуаа ҳзы ӷас ишԥаҟалеи, ақырҭцәа реиԥш, ҳәа, идәылышәцаз иқәиргылаз азҵаара иашоуп. 20-тәи ашәышықәса алагамҭаз ақырҭуа меншевикцәа Аԥсны ықәаҳхуеит ҳәа ианаау-аз ачаигьы рыманы иааит. Уаанӡа ҳара чаи шьа-

Page 184: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

184

пыкгьы ҳамамызт. Илашәымҵар ҟалом ҳәа мчы-ла иҳадырҵеит ақырҭцәа. Цәгьарас иҳазнаузеи? Аҽаӡәгьы азал аҟынтәи ажәак иршәит. Аилкаа-ра имазҭгьы уи еиԥш иҳәомызт уи. Ачаи аҟаҵара ҳаналага, ҳмилаҭ ахыԥхьаӡара азҳара иаҟәыҵит, шьҭахьҟа ицеит. Ақырҭцәагьы ирҭахыз уи акәын. Ачаи, ҳмилаҭ азҳара изаԥырхагахазеи ҳәа иаар-тны ишәҳәом, аха сахьшәыхәаԥшуа, аӡәык, ҩыџьак исҳәаз шышәгәамԥхаз шәылақәа ирхызбаауеит, – иажәа анагӡара даҿын хыхьынтәи иааз. Ишәасҳәоит излаҳԥырхагахаз, аҳәса еисаны ачаихыхра иана-лага нахыс аԥсуаа ҳхыԥхьаӡара агхара иалагеит, аԥара ҳарҳауеит ҳәа аҳәса еисаны шарԥазыла ицаны ачаирҭа ихылоит. Ажәжәаҳәа абӷьы аҿыхра иалаго-ит, маҟҿаҳәара нахыс аӡаӡа илагыланы. Аҳаскьын цқьа иарҳәуа акәзар ак уҳәап, аха ахимикат зҵажьу ачаирҭа ашьапқәа идырҳәуа аӡаӡа бааԥсы ауп. Ацәаакыра ирылало рылҵӡом. Маҟҿаҳәара на-хыс иарчмазҩуеит. Ахшараиураҿы ирԥырхагоуп. Аԥырхагахара мацара акәым, ахшара рцәа иаламшәо иҟанаҵогьы даара ирацәаҩуп. Ачаи аԥсуаа иҳаӷоуп ҳәа зысҳәазгьы абри азоуп. Шьҭа еилышәкаама, ачаи аарыхра ҳаҟәыҵны, акәыкәбааҟаҵара ҳалагоит ҳәа ақәҵара зҳадаҳкылаз, – иҳәан, иажәа хиркәшеит.

– Абасҟаҩык шәеизганы шәахьыҟаз аӡәызаҵәык ида (иара уигьы игәы иҭаз зегьы имырҳәакәа ддәылыргеит), уаҳа аҽаӡә дҩагылан егьимҳәаӡеи?

– Алиас, уи аҽны сара сҩагыланы ажәак сҳәаратәы сҟамлеит, схы аасхыҵны ицарашәа аҟынӡа исыхьу-ан. Аиҳаб ду дцәажәан даналга ашьҭахь, аӡәгьы акы ахымҳәааӡакәа, рызегь ҩагылан, амин ҳәаны иры-дыркыларымашь ҳәа сгәы аҭра иҭамгыло сыштәаз, Џыр Ажәанба думдыруази, уи иааигәамԥхаз, дҳәынҭқарзаргьы иҿаҿы иеимҳәар иуамызт.

Page 185: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

185

– Уи дыԥсхьоума, иҳаҩсхьоу аамҭала узихцәа-жәозеи?

– Алиас, уи дыԥсхьеит. Даара акрыздыруаз, акрыз-бахьаз абырг бзиа дҳагхеит. Ааигәа ауп даныԥсыз. Џьанаҭ гыларҭас анцәа ииҭааит!

– Еилыскааит. Ииҳәазеи уи? Даара исҭахуп изды-руазарц.

– Анцәа, ак угуп ҳәа иоуҳәар шыҟамло еиԥш, ҳасасгьы ак угуп ҳәа иоуҳәар ҟамлозаап. Насгьы, иара данцәажәалак ашьҭахь, аӡәы иҿы ааихыхны акы сҳәоит ҳәа далагар, азҩа еиԥш ицәымӷызаарын. Уи иҟазшьа ҷыдақәа абеидыруаз Џыр. Идыруазар-гьы даангыло дыҟазма?

– Иахьада ҳқыҭаҿы умааӡацт. Бзиала уаабеит ҳәа уаҳҳәоит, уххь згеит. Уара уеиԥш ахьӡ-аԥша ду змоу, алшара ду змоу, ибара, изыӡырыҩра, ҳара ахархь уаа ҳзы хәы амаӡам. Ари ҳәара зҭахым акоуп.

Насыԥ змоу жәларуп ҳәа иԥхьаӡатәуп, ауаа еи-лызымхуа, ауаа еилызкаауа, ауаа еизааигәазтәуа рымаҵ аниуа! – абас ала далагеит иҽыргызмалны Џыр.

– Акыр иаԥсоу ҳасас ду, ҳаузыӡырҩит. Инарҭбааны урылацәажәеит иахьа аҵкыс уаҵәтәи ҳаԥсҭазаашьа злеи ӷьаҳтәыша амҩақәа. Алабжьара дуқәа иҟоуҵаз срызхәыцит, знык еиԥш, ҩынтәгьы, аха исзеилым-кааз рацәахеит... Уара, аҭаҳмада, еилукаауазеи ҳәа аӡәы игәы иаанагаргьы ауеит, аха макьаназ схы сақәгәыӷуеит сгәы аҵкыс.

Ачаи аҟаҵара ҳаҟәыҵны акәыкәбаахьы шәиас, акәыкәбаа зфо ахацәа арыӷәӷәоит, аҳәса ахшара рацәа роуеит. Уи ҳауаа рхыԥхьаӡара иазнарҳауеит. Ачаи знапы алаку аҳәса хылҵда-ԥылҵда иаанхоит. Маҟҿаҳәара лахыс иарчмазаҩуеит, ахшаа дырмоуа иҟанаҵоит уҳәеит. Дад, ҳасас ду, упату схы иқәуп, ак суазҵаар сҭахуп. Абри сара иубо сыԥшқаӡам,

Page 186: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

186

шәышықәса рҟынӡа снеины ашә саалагылт. Аколн-хара аныҟалаз аахыс сҭаацәагьы саргьы ачаирҭа ҳаалымҵӡакәа ҳалоуп. Ҳара ҳаиԥш ауп ҳқыҭаҿы зегьы ачаи аус шадыруло ҳәсагьы хацәагьы. Уара ишуҳәо еиԥш аҳәса ачаи рзыцәгьаханы, хшаа дырмо-уа, хылҵда-ԥылҵда иаанханы иҟазҭгьы, ҳаԥсадгьыл зыхьчаз, еиқәзырхаз, зхы ақәызҵаз, аиааира ҳзыргаз аҵеицәа зыхшада, аныда иима? Ҳқыҭа Аҟәараш иалҵыз ҩышәҩык инареиҳаны аӷа хәымга иҿагыланы еибашьуан. Ҩынҩажәи жәафҩык рыԥсадгьыл рхы ақәырҵеит. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иалоуп сара смаҭацәа хҩык. Аӡәы зынӡа хабарда дыбжьаӡит. Сажәа сроуцәазар ҟалап. Угәы иалымсын, упату схы иқәуп, аха иҳадугалаз акәыкәбаа ҳазҳадкылом. Аҟәарашаа акәыкәбаафацәа ҳәа ҳзырҳәо ҳҟалар ҳҭахым, – иҳәан, иажәа ҳәаны даалгеит.

– Џыр изҵаара аҭак ииҭама шәысас?– Дахьынӡацәажәоз дизычҳауамызт, ишҟа

дзыԥш уа мызт, илақәа ҭаԥҭаԥуа аҭуан иаҵагьежьуа иаҵан, иқьышәқәа еихарԥсны икын. Џыр ажәак ацыс ҵоит ҳәа далагар, изымычҳакәа дгылан дыш-цара иҽазыҟаҵан дтәан, ишьҭахь аҵәымӷ алалазшәа аҟәардә изықәымкуа, дҳәыҵәымыҵәуан.

Аҭаҳмада игәаӷ дыкны даго абзиала ҳәаҵәҟьагьы ҳамҳәаӡакәа, адәахьы ддәылҵит.

Ашьҭахь изласаҳаз ала, ҳқыҭа администрациа аиҳабы, аҿар еизга ҳәа акәын адҵа шусҭахьаз. Уара уаалаган асовет мчра анықәӡаауаз зыхшыҩ ама-ны ицаз аҭаҳмадцәа еизугеит иҟәарҟәаруа ҳәа ицәа ккаӡа ихихызаап.

– Имаҵурагьы дамихызар акәхап?– Уи дазҭаз иоуп, дамихуа дыҟазма.– Шәара шәакәӡами далызхыз?– Ҳара иагьаҳмазҵааит дышәҭаху дышәҭахыму

ҳәа. Иаргьы уи азоуп, ақыҭа ааизганы, акыр

Page 187: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

187

шәаргәаҟуама, акыр шәҭахума ҳәа дызҳазымҵаауа. Абӷа сымоуп ҳәа иааиҭаххалак ҟаиҵоит. Аколнхара иамаз ажәлар рмал зегьы ирӷәҵәит. Улахь уџьымшь ыҟоуп ҳәа иазҳәада. Иуҳәозаргьы акы алҵраны иҟоума. Аибашьра ҟалаанӡа иҟаз асистема ԥсит. Иҟаӡам.

– Акәыкәбаахьы шәиасыроуп ҳәа хыхьынтәи иа-аны агитациа шәзызуаз, шәқыҭа аиҳабы дышәԥыр-хагамзар акгьы дшышәмыхәо зиашәымҳәазеи. Иара уаҵәҟьа даамимхуази.

– Алиас, еиҭауасҳәоит, уи дазҭаз ида аҽаӡәы ди-замхуам.

– Ҟанчобеи Чагә-иԥа, сшәазҵцарц сҭахуижьҭеи иҵӡозеи, ҳқыҭсовет еиҳабыс иҟада?

– Дызусҭоу уасҳәар, агәра узгом. Жьажәба Баҭаҟәа иоуп иахьа ҳқыҭа ахадара азызуа.

– Ишԥа? – иԥштәы иԥсахит Алиас, убри аҟынӡа ицәымыӷхеит. – Аибашьраан ихы шымҩаԥигоз шәхашҭыма? Ҳқыҭа ахадара азура акәым, зынӡа иалцатәыз иакәын, ишьапы изаламыргыло.

– Уи дзакәу здыруа ҳаҟагәышьоуп, аха иҳалур-шозеи. Алаба зхы иаахаз, ибӷа икит. Убӷа аума, ухоуп изықәшәаз, уи ауп иукыша ҳәа аниарҳәа, сыбӷа ӷәӷәазҭгьы, схы асра аӡәгьы изыгәаӷьуамызт ҳәа реиҳәеит. Изхысҳәаауа, Баҭаҟәа ибӷа ӷәӷәоуп. Зегь зымчу аҭынха ду димоуп. Алабала ихы асра акәым, аԥиц иқәшәар иуама. Уи акәу џьушьома, зынӡа иџьашьахәу аҽак уасҳәоит. Шәара зе-гьы шәанеибашьуаз, иаргьы дшәывагыланы хыцәнамырха деибашьуазшәа ашәҟәқәа ҟаиҵан, иҭынха ажәак ихиҳәааз ала «Агәымшәаразы» амедал ирҭеит.

– Ус акәзар, зынӡа ҳалганы ҳаҟазаап... – Ихаирш-ҭырц ииҭахыз игәаланаршәеит. Аӷацәа Аԥсны ианақәлоз адыр ҩаҽныҵәҟьа Аҟәарашаа аибашьцәа

Page 188: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

188

ргәыԥ еиҿыркааит аҿар. Баҭаҟәагьы далалеит. Иҽырхаҵаны дышрылаз, ажәыларахь ацара аамҭа анааи, дычмазаҩхазшәа ҟаҵаны ихы ахигеит. Уи ашьҭахьгьы, шәеиха, афырхацәа, рҳәацыԥхьаӡа, иара «ич леиуан», шьҭахьҟа деихон...

Аибашьра ианалага нахыс абас ихы нахга-аах-го, уажәы-уажәы «дыбзиахо, дычмазаҩхо» даауан. Ҩынтә заҵәык аибашьцәа рхәы игеит апозициаҟынӡа. Уа дахьнеиз ахәцәа аниба, ахысыбжьқәа иаҳауа дана-лага, дшәаргәындаха, иеиқәа азна иманы дхынҳәит, уинахыс, дызго ачымазара изцәырҵызшәа иҩны даадәылымҵӡакәа дыҩнатәан.

– «Агәымшәаразы» амедал акәӡамызт уи иҭатәыз, ашәыргәындаразы амедал акәын ихәда иахшьтәыз, – иҳәеит Ҟанчобеи...

– Москва санышьҭазгьы исаҳаит, абџьар зкӡамыз еибашьуазшәа аорденқәеи амедалқәеи рыҭара иала-геит ҳәа. Усҟан сагьазымӡырҩит, ус еиԥш ҟалашьа амаӡам, уи уҳәансҳәануп ҳәа сгәахәын.

– Саргьы агәра сзымгеит, Баҭаҟәа «Агәымшәа-разы» амедал ӷьазӷьазуа игәы ишкыдыз збаанӡа. Иџьасшьеит, илакәысшьеит, раԥхьатәи амшқәа инадыркны аибашьра аанҵәаанӡа аӷа иҿагылан еи-башьуаз ҳаҷкәынцәа, аӡәымкәа, ҩыџьамкәа, акгьы рмоуӡакәа иаанханы иҟоуп иахьагьы. Иаартны урҭ рыԥсгьы иахдырӡаауам. Ҳара ҳзавахазеи ҳәа рхы иа-хашшаауам. Аха агәынҷыхь шрымоу аҟара збоит.

– Ҟанчобеи Чагә-иԥа, ҳаруаа, ахлымӡаах зхызгаз, аибашьра ашьҭахь ҳаԥсҭазаара аҽакхоит, абзиара дуқәа ҳаԥхьаҟа иаҳзыԥшуп ҳәа акәымзи ҳшыҟаз.

– Ус акәымзи, аха ҳара ҳаззыԥшыз ҟамлеит.– Шәара излашәҳәо ала, ажәлар, абасҟак игәаҟыз,

рмал еимҵәаны уала-ҭахыла агара иалагеит. Уигьы азмырхакәа, аибашьра ала аорденқәа раархәаеи рыҭареи иалагама?

Page 189: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

189

– Изларҳәо ала, уигьы ыҟоуп, егьигьы ыҟоуп. Ҳара ҳ-Баҭаҟәа иҭынха ду иоуп изҭаз. Уи шиашоу ҳәа сықәуеит Елыр-ныхаҿы снаргаргьы.

– Исзеилымкаауа акы ыҟоуп. Еилкаашьас иамоу-гьы сыздырам.

– Алиас, араҟа еилкаашьа змам ҳәа акагьы ыҟаӡам. Иҟоу ауп иуасҳәо. Агәра узымгошәа збоит.

– Мап, мап, Ҟанчобеи, шәара шәыгәра зымго дызусҭада ҳқыҭаҿы?!

– Сара исзеилымкаауа, аибашьра ашьҭахь ҳаԥс-ҭазаара аҽакхоит, ҳаԥхьаҟа абзиара дуқәа ҳзыԥшуп ҳәа акәӡамзи ҳауаа шыҟаз?

– Ус акәымзи зегьы ҳшыҟаз. Аха ҳазқәымгәыӷуаз ҟалеит.

– Убри ауп сара исзеилымкаауа. Ахлымӡаах зхыз-газ ауаа аибашьра ашьҭахь, ԥхьаҟа ацара акәым, шьҭахьҟа ацара иахьалагаз ақәҿымҭӡакәа шәтәаны шәахьахәаԥшуа ауп.

– Алиас, ари еиԥш азҵаара шсуҭоз здыруан. Аӷа иаҳзимуз, ҳара ҳхы иазаауит. Аибашьраан иҳамаз аҳәатәеиқәшәареи аидгылареи аџыреиларҭәа иаҩызан. Уи ала ауп аиааира злаагазгьы. Сара, аиаша уасҳәоит, аибашьра ашьҭахь ҳаԥсҭазаара еиӷьыртәуеит, ҳахәрақәа дырӷьап ҳәа ҳзықәгәыӷуаз, дара рхаҭабзиара аиӷьтәра иашьҭалеит. Уаха-саха ҳәа уала-ҭынхала еидгыланы ажәлар рмал аимҵәара иалагеит. Аӡә алада дахеит, егьи аҩада дахеит. Ише-ибарххоз, «аидгылара иазымычҳакәа ирыбжьыҵны ицеит». Уи ацынхәрас аиӷара аакылсны ирыб-жьалеит. Ацәгьаҳәара ҟалеит, аибаҭира ҟалеит, аиҿахысра ҟалеит. Аиҳабацәа ҳәа ҳазхәаԥшуаз иԥсыр еибамҵәыуо аҟынӡа инеирц егьрыгӡам. Хыхьынтәи ауп зегьы шалаго, аԥхьа идырдыдуеит, идыр мацәысуеит, амч ду шрымоу ҳдырбоит, аҵыхә-тәан (акрымазкыз) афы идырсуеит. Хыхь иибо сар-

Page 190: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

190

гьы иҟасҵоит ҳәа даҿуп ҳара ҳ-Баҭаҟәагьы. Иҭынха ду имч имоуп. Ҳаԥхьа дгылоуп, «ԥхьаҟа»ҳаигоит. Қәашҭ ҳәа шәишьҭан шәаныҷкәынцәаз, изҿыҭра шәаналагалак, сара сқәашҭӡам, шәара шәзы сҭыӷьуп ҳәа шәеиҳәон дгәааны.

– Усҟангьы аԥхьагылара бзиа ибон, иҽазҵәылхны дашь ҭан. Исгәалауршәеит.

– Аҭыӷь еиԥш дҳамазҭгьы иаҳҭахыз. Аҭыӷь бзиа ауасақәа ахьчоит, раԥхьа игыланы ицоит, дара агәра ганы иашьҭоуп, избанзар, ирдыруеит, жроу-ма, тышоума, иахьшәарҭоу аҭыԥқәа зегьы ирывганы аҳәырҭахь ишаго.

– Иахьа уи игәра ганы ауасақәа дрыцуҵарызу? – иҳәан, дагьарччеит Алиас Ҟанчобеи ииҳәаз.

– Иҟаиҵо сара иуасымҳәои, аӡынра агәҭаны, иуасақәа кажьны ирҟәыдуан, аӡынра ахьҭа ҳамыргакәа ҳӷыҵнагоит ҳәа, иааӡаны ирықәыз аласа рҳәы хәыцкгьы рзаанмыжькәа ирықәхны ихазы аха-мы алихуан, хәызықәӡамкәа иҟьантазӡа иаанижьыз аҵаа инылаԥс ицон... Абасҵәҟьоуп иахьа Баҭаҟәа ҳауаа дышрызныҟәо.

– Ас акәзар ԥхьаҟа цашьа ҳамаӡам. Ауаа рыцҳа-хеит. Аибашьра џьоук ннархеит, џьоук хнарҵәеит.

– Угәы иаанагозеи, иҟаҵатәузеи, Алиас?– Ажәлар еизганы иразҵаатәуп. Ишышәҳәаз

еиԥш ҵәҟьа акәзар иахьатәи рҭагылазаашьа шыҟоу ала, иҟаҵа тәу дара ирдыруеит.

– Абас шуҳәоз здыруан, Алиас. Уи саргьы заҟантә сгәы иҭаскхьааз, аха егьысзалымхит, сымч ақәым-хеит, ишуас-ҳәахьоу еиԥш, аӡәы алада дахоит, аҽаӡәы аҩада дахоит. Згәы цқьоу, ҳқыҭа ԥхасҭамхарц зҭаху (урҭгьы ԥыҭҩык аанханы иҟами) ҳанааиқәшәалак уи акәӡоуп ҳазлацәажәо. Зегьы ирҳәо Сафарбеии Алиаси еибганы иҳамазҭгьы ас ҳҟалаӡомызт, ҳқыҭа еиқәдырхон ҳәа ауп. Уара уеибганы ухынҳәит (Са-

Page 191: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

191

фарбеи даҳцәыӡит, зегьы дҳагхеит). Уԥсы еиқәханы ухынҳәуеит ҳәа аӡәгьы ҳгәы иаанагаӡомызт. Заҟантә иҳалаҩхьааз аԥсеизгара даҿуп ҳәа. Аи-башьра ианалага, ҳқыҭа иалҵыз аҷкәынцәа зегьы еизганы раԥхьа игылаз, шәара ҩыџьа шәоуп ҳқыҭа еиқәзырхаз. Аибашьцәа зегьы уара иузыӡырҩуеит. Иалҵны ицазгьы, ақыҭаҿы иаанханы иҟоугьы уара уаара иазыԥшуп. Ҩаԥхьа иааизганы раԥхьа угыларо-уп. Аԥхьатәи аан адәныҟатәи ҳаӷацәа шәырҿагылан еибашьтәыс ишәоуит. Аиааира ганы шәанаахынҳә, ҳаҩнуҵҟатәи аӷацәа шәырҿагыланы шәықәԥар акәхеит.

– Ақырҭцәеи ҳареи ҳанеибашьуаз ҳашьцәа Кавка-заа аиашьара ҳзыруит. Ишәҳәо саҳауеит, Ҟанчобеи Чагә-иԥа! Усҟан ҳаԥсадгьыл азы ҳақәԥон, уи азоуп нхыҵаа ҳашьцәагьы зҳадгылаз, уажәы ҳаҩнуҵҟатәи аӷацәа ҳәа шәызҿу ажәлар рмал еимҵәаны ага-ра иаҿу, амшын аԥшаҳәа адгьылқәа зҭиз рами. Урҭ дареи ҳареи ҳаиҿагылап, аха ҳашьцәа нхыҵаа ҳашԥеилыркаауеи? Рыԥсадгьыл рҭирц азы акәызма ҳәа ргәы иаанамгаӡои?

– Имариаӡам, Алиас, уҩызцәа аибашьцәагьы уаргьы шәаԥхьа ишьҭоу аус. Даара ихьамҭоуп. Аха шәара шәыда урҭ арҳәцәа аанызкыло аҽа мчык ыҟаны ҳәа збом. Ари ырластәуп, акәымзар зынӡа аума ҳхылҿиаар ҟалоит.

– Уи аҵкыс еицәоу иарбану?– Амрагыларахь инхои амраҭашәарахь инхои

ҳауаа еибацәымӷыртәырц иалагеит џьоукы. Ҳара ҳаԥхьа шәара амра шәықәԥхо шәзыҟа лазеи ҳәа амраҭашәарахьтәиқәа ыраапкны амрагы ла рахь-тәиқәа ирҿадыргылеит.

– Иабантәиаауеи ари еиԥш аҿаасҭара?– Хыхьтәи ауп ишаауа, рҳәоит.– Ари ауаа реинҟьага ауп, уаҳа акгьы узахҳәаауам.

Page 192: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

192

– Ақыҭақәа рҟынӡагьы иааӡарц егьагӡам.– Ари чмазара ҿкхеит. Аракәақәа ақыҭақәа рахь

иашьҭуа иалагахьеит. Ҳара ҳҟынӡа иааихьеит. Зегьы нџьара еиԥш Баҭаҟәа ижәлантә рҿгьы аби-ԥарала иҟалахьеит. Зны абиԥарак рылхны ишь-ҭихуеит, шәара ишәеиӷьу ҳаиашьара аҿы дыҟам ҳәа дрыцәнымхошәа. Иара ихы иазеиӷьу дирҟаҵоит, ԥыҭрак ашьҭахь шәара шәаҵкыс егьырҭ еиӷьуп ҳәа аҽа бышьҭрак рахь диасуан. Уинахыс икаи-жьызи ишьҭихызи абиԥарақәа еиӷацәахоит, иԥсыр еибамҵәыуа иҟаиҵоит аишьцәа.

– Сара исзеилкаауам, хыхь инаркны ҵаҟанӡа изҿу дара ирнаҭо.

– Рҭыԥ ԥхақәа рзынхоит. Ауаа дара-дара заҟа ихҭеи бакуа аҟара дара рҭыԥқәа арыӷәӷәоит. Уи ада-гьы иҟақәоуп зынӡа ҳмилаҭ иазеицәақәоу ҟазҵогьы. Урҭқәа зегьы ртәы ара излаҳҳәарызеи, аизара иҟаҳҵараны иҟоу аҿы ҳала цәажәароуп.

...Ауаа иҟарҵаз аҳәарала, абригь-абригь аҽны ақыҭа ад министрациа ашҭаҿы ажәлар реизара ҟалоит ҳәа анраҳа, иаанханы иҟаз рымацара ракәым, иалҵны ицахьазгьы, зынӡа рқыҭахь аара иаҟәыҵ-хьазгьы Алиас ибзоуралоуп ҳәа анраҳа, аӡә дааным-хеит. Зегьы еизеит, бзиак иазҳәоуп ҳәа ргәы ирнаҭо.

Ашҭа иазымкуа иеизаз аизара ианбалагои ҳәа иԥшын, рыгәқәа хыҭхыҭуа.

Иззыԥшыз администрациа аиҳабы Баҭаҟәа иааи-ра акәын.

Шьыжьымҭан инаркны иеизаз ауаа Баҭаҟәа дан-баауеи ҳәа ишыԥшыз шьыбжьон ҟалеит.

– Уи шьыбжьоншьҭахь ауп аусура данаауа. Ҳара ҳалагап, – ҳәа абжьқәа го иалагеит.

– Шәааԥсеит, аха шәааԥшыроуп. Ишҟа ауаҩы ддәықәаҳҵеит. Иара дмааикәа ҳзалагом. Иаҳҳәо заҳауада? Ауаа ирҭаху, изышьҭоу, изыргәаҟуа

Page 193: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

193

иара ихаҭа иаҳароуп. Аибашьра анынҵәа ашьҭахь знызаҵәыкгьы ҳаизимгаӡацт. Акахьы ҳкылигоит ҳәа ҳаззегьы заара ҳахыццакуаз Алиас Ахаҳәба деибганы даҳзааит. Иара иоуп иахьатәи ҳаизара мҩаԥызгараны иҟоу, – ҳәа Ҟанчобеи зегь аарӡырҩны ианрылеиҳәа, игәырӷьаны анапеинҟьара иалагеит.

Убри аамҭаз дхынҳәны дааит Баҭаҟәа иахь идәы-қәырҵаз. Уи иреиҳәеит Баҭаҟәа иҩны дшыҟам. Џьара уск азы дцаны дшыҟоу, иҭаацәа иахьа, уаҵәы руакы даауеит ҳәа ишизыԥшу. Ҳара усс ҳимоума, ихатә усқәа дрышьҭоуп, Житомирҟа дцазар акәхап...

– Житомирҟа дызцаз шәзымдыруазшәа зыҟашә-ҵозеи? Ибзиаҵәҟьаны издырқәо шәыҟоуп, изы_шәым ҳәо зеи? Абаҟазы ахаҳә аагара дымцеи, – иҳәеит уаҩы аԥшьык, иажәақәа игәы иҵыххуа.

– Издыруада, игәаҵәа еилгазар, ҳаҷкәынцәа иҭахаз рзы абра ҳахьгылоу, ақыҭа зегьы иахьырзеиԥшу Абаҟа ду рызиргыларц далагазар, – иҳәеит, ҩыџьа зыҷкәынцәа аибашьраҿы иҭахаз раб Махаз.

– Исышәмырҳәар жәуам, уи дзышьҭоу иаб ибаҟа ҿыцны ақәыргылара ауп, – иҳәеит уаҩ еиқәак, иб-жьы рыӷәӷәаны, зегьы ираҳауа.

Абасгьы ааиҳәеит, еизаны игылаз рыбжеиҳара аа-ибарччеит.

– Арҭ зырччозеи? – Алиас уамашәа ибаны, Ҟанчо-беи ихы наидикылан дизҵааит.

– Уи абаҟа иахылҿиаахьоу заҳаз аԥсы димҵазаргьы дарччоит.

Ажәа ахы умҳәакәа аҵыхәа узҳәом.Баҭаҟәа иаб Бирда дҭышәынтәаланы уск даҿны

ақыҭаҿы аӡәгьы димбацызт. Есқьынгьы дызҿыз алышьҩарышьра акәын. Акы ааихәон, акы иҭиуан, дыбжьахәаахәҭҩын. Иҷкәын Баҭаҟәагьы иаб ишьҭра дықәлеит. Аҵара далган дшаахынҳәыз еиԥш, амала дзылгаз иарбан ҵароу аӡәгьы издырамызт умҳәозар.

Page 194: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

194

Амашьына ласқәа раахәареи рыҭиреи акәын инапы злакыз аибашьра ҟалаанӡа.

Иабгьы иаргьы рыԥхыӡҵәҟьагьы иалашәомызт Аҟәа раш ақыҭа дуӡӡа напхгара азиуа дҟалоит ҳәа. Аха мыч ду змаз иҭынха дизкашәан, иразҟы иакит.

Аибашьраан узҿыз, уҩызцәа урывагылан узымеи-башьуааз ҳәа уаҩы диазҵаауамызт, аиҳабыс дҟазҵаз ихыԥ ша иацәшәаны.

Убасҵәҟьа акәын араион аиҳабацәагьы иҿаԥхьа рхы ларҟәны ишымҩаԥыргоз. Уи иара ихы иархәаны иааи ҭаххоз ҟаиҵон. Хыхь иҟаз, иара итәы ида аҽаӡәы дицәшәо дыҟамызт.

Аибашьра ашьҭахь изымцакәа иаанхаз агыруак, ибжа аԥсыуоушәа иҽыҟаҵаны, рацәак еиқәшәазгьы иакәӡамызт, хәымбабиса-цәыҟлабиса ҳәа изышьҭаз дааигәалашәеит. Дахьыҟазаалакгьы дыԥшааны дысзаага ҳәа аӡә дишьҭын, дыԥшааны дааигеит. Агырцәа жәытәнатә аахыс жьҭаацәас аԥсуаа ирыман ҳәа рҳәо имаҳахьази, иҩныҟа диманы дцеит. Саб уз-хара уҿеиҵоит, ажь изыҭаала ҳәа адҵа ииҭеит.

Дышнеигаз еиԥш, ажьҭаара даладыргеит. Изха-ра аниҿарҵа, мап иҳәо дыҟазма. Унаԥшны уаахьа-ҳәаанӡа амҵәышә ирҭәуан. Аӡахәа кьаҿ иҿаз аб дад-гылан иҭаауан, аҵла ҳаракқәа ихыбны ирықәыз ажь агыруа иҿихуан. Мчыбжьык инеиҳаны иаҿын. Абжа рҭаахьан еиԥш, амықәшәатә изыҟалеит.

Амҵәышә ҭәит, иласышьҭуеит ҳәа агыруа изҿиҭит. Ибжьы шааиаҳаз еиԥш, дызҿыз дааҟәыҵны дцан, дызқәыз аҵла дааҵагылт. Амҵәышә лаишьҭуеит, иҵысхуеит ҳәа дшыԥшыз, ажьҭааҩ дзықәгылаз амахә наиҵаԥҵәан, хланҵы далыҩрны дышлеиуаз Бирда диқәҳаит. Быжьба-ааба ԥуҭ иҟаз ауаҩаӡа ду аҵла ҳаракы ақәцәаҟынтәи даниқәҳа, деилаҟәаҟәа, деилаԥыххаа дцеит. Диҵаԥсит. Иҳәҳәабжь заҳаз агәылацәа, еибарыҩны иааит, аха

Page 195: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

195

аԥсрахьы ихы ирхахьан. Даашьҭырхит, иԥсы шҭоу иҩны нӡа дҳазнагозар ҳәа, аха ҭәра змаӡамыз иԥсы мыжда қымқымуа атрофеи ишашьҭаз инашьҭаԥс ицеит. Атрофеи ҩны ашҭа дҭыргаанӡа иԥсы ихыҵит. Ақыдуахәа еиԥш иҵаланы иҩныҟа дыргеит. Иԥсы гьежьуа џьоук рқәаҵаҿы ишыҵаз иаанхеит.

Дрыман ашҭа ианааҭала, зыԥсы мҭәӡо абриак-заҵәык ауп изырҭәуа ҳәа иҿыҵҟьарц егьааигымхе-ит, ибз ихаԥыц ақәырӷәӷәаны иааникылт игәылацәа иреиуаз аӡәы. Иҵа ланы даазгақәаз игәылацәа, иуа-цәа ракәын, уи ауп иҽзаа никылозгьы.

– Уқьышәқәа кәамкәамуа ак уҳәарц уҭахын. Избон. Иуҳәарц иуҭахыз? – иҳәан, Баҭаҟәа днаихәлаџьаџьеит уи ахаҵа,

– Иԥагьы иаргьы анцәа ишиҳәара иҟан, аӡәы итәы абарҭахыз, ҳәа ауп исҳәарц исҭахыз. Ауаҩ бзиа дҳагхеит, – иҳәеит дшәан.

– Уи уисны дзукызеи, аиаша иҳәеит, аӡә ижь абарҭахыз, дара ртәы агарҭа рымаӡам, аҭаарагьы иа-ламгацызт. Рқәаҵа уҵалахьоума, шаҟа аҿажьу уба-хьоума? – иҳәеит аҽа гәылакгьы.

– Уаангыли уара, убз ҵәызӡа, акы ануаҳалак, шәкы алухуеит. Ҳашьа дҭазырхаз ҳәа уара акрудыруама, ҳара иаҳзымдыруа. Убз аҭра иҭакны угылаз, ҳашьа иҭахара уеигәырӷьаны умаазар, – иҳәан, ацәажәара даҟәихит Баҭаҟәа иаб иашьа иԥа.

Агыруа аԥсшәа хар амаӡамкәа идыруан, «дҭазырхаз»ҳәа анырҳәа, ари дшәеит, акгьы схараӡамкәа сыршьуеит ҳәа. Акырынтә ирҳәо иаҳахьан, аԥсуаа агыруа дрыпҟарц анырҭаххалак дзыхдырҟьо егьанырмоулак, уԥаҵа еицаҟьоуп ҳәа иааисуа дрыпҟон ҳәа. Изыԥшыз идыруан, апҟараҿы даанхараны дыҟазма. Дыбналеит.

...Баҭаҟәа иаб иԥсра аҵкыс изеицәахеит, игәыр-ҩахеит, «иқәцаны икаҳцахьоу ҳаӷацәа дрыҿцаауеит,

Page 196: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

196

агыруак дидкыланы иҩны димоуп» ҳәа џьоукы ирҳәеит ҳәа иаҳаз, уи згәы кыдгыланы иҟаз аиба_шьцәа ишианармыжьуаз идыруан. Ауаа ижәлар ҳәа дшәаны, иҟаиҵара изымдыруа, иаб данижша аҿҳәараҵәҟьа изԥымҵәо дшыҟаз, иаб иашьа иԥацәа днаваргалан, иарҳәеит иҟаиҵашаз. Агәылацәа аԥхьа инеины аԥсы дышьҭызхыз, идырҳәатәуп, иԥсы анихыҵуаз «сара ҳаӷа сишьит, ижәдыруаз» ҳәа иҳәазшәа. Уи уасиаҭк иаҩызоуп, уҿнахуеит, уара узы хырқьиагас иҟалоит. Аӷацәа уара ушьразоуп атерро-рист даашьҭны дзыҟаз, аха уара имч ануқәымха уаб дишьит...

Уи ашьҭахь иаб иԥсыжра аҿҳәара ԥиҵәеит.Аҵыхәтәантәи аамҭазы ҳаԥсыжрақәа трагико-

медиа хеит. Асценаҿы зроль бзианы иназыгӡоз ак-тиор ишидырныҳәало еиԥш, аԥсыжраҿгьы, аԥсы ихагыланы еиҳа зҳәаз, даанӡа умнеиааит, уцәажәара даара ибзиан ҳәа аԥсы дыжны иаахынҳәны ашьаԥа ианаахатәалак, иныҳәаҿа хазы иалкааны иааныркы-лоит, тамадасгьы далырхуеит.

Баҭаҟәа иабгьы ажәа ду ихҳәааны дыржит. Бир-да дзыԥсаз аҵкыс дзыԥсамыз еиҳаны ирҳәеит. Ҳара ҳнапы дықәҵаны дшаҳкыз дыԥсит. Ҳқыҭа дагхеит, ауаҩы хазына, унеишь-уааишь ҳәа зарҳәоз, ахьӡ-аԥша змаз ҳәа иналагон, даныԥсуаз дышьҭызхыз абыргцәа. Нас иаб, иабду рҿы иналаганы, арҭ реиԥш иҟаз ауаанагақәа ирхылҵышьҭроу ҳәа инеиҭаҳәа-ааиҭаҳәо ирымҵаз иҟынӡа ианааилак, аҳәарҭа рибамҭо, ажәҩан аҟынӡа дышьҭыхны ирҽхәара иа-лагон. Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду далахәызшәа, ахәрақәа маҷымкәа ишиоухьаз, ифырхаҵаразы амедал қәеи аорденқәеи рацәаны ишиоухьаз, урҭ зегьы ауаа ирбо, ираҳауа дахьықәыз иӷьазӷьазуа игәы зегьы кыдырҭәааны икыдын. Аибашьра ашьҭахь ицәырҵыз аҿаасҭарақәа ируакын аригьы.

Page 197: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

197

Аџьынџьтәылатә еибашьрахь зынӡа иҟаӡақәамыз рыгәқәа аорденқәа азымкуа икыдҵаны ауаа рахь икылсуа иалагеит. Зынӡа имариан аорденқәа риура. Аибашьра ашьҭахь, ахныҟәгара зынӡа ианыцәгьаха, ирфо рмоуа аҟынӡа инеиуа ианалага, зхацәа ԥсхьаз аурыс ҳәсақәа рхацәа рорденқәа атолкучкаҿы иаага-ны, чахык азы ҳәа аҭира иалагеит.

– Ажәлар, шәылала ижәбоит, иорденқәа ишәар-ҳәоит фырхаҵарыла анемеццәа дышрабашьуаз. Анемец фашист илымшеит Бирда, џьанаҭ гыларҭа зауша, иҭархара, аха ишыжәбо, афашистцәа раҵкыс еицәоу ақырҭуа ижь шиҭаауаз дишьит.

Дишьаанӡа дытҟәаны дыргарц иалагеит, аха иҽримҭеит. Ҳқыҭа аҟынтәи заҟаҩы тҟәаны иргахьоу жәдыруеит. Нас рҿыхразы амиллионқәа иҭаацәа ирымаҳхуеит ҳәа иалагоит. Бирда, ԥсаҭашкәакәа, дымшәеит. Иқәра шмаҷмызгьы анемеццәа анҭаир-хозтәи агәы имамзи, абџьар иааигәа иҟамызт, аха аҷкәынцәа реиԥш днышьҭасын, иааимԥыхьашәаз ҵәҩанк ааҵиԥаан, дисит, аха иаргьы лахшак иакәхарын, дҭаирхеит. Избаз агәылаҳәсақәа излар-ҳәо ала, иаргьы хара изцоз аӡә иакәмызт, амаҭ бӷаԥҵәа еиԥш акәзаарын дҳәазо дышцоз.

Иуаҳҳәарызеи, Бирда бзиа! Уԥсы ахьынӡаҭаз иулуршаз даара ирацәоуп, аҭоурых аҿы иаанхо-ит. Ҩынтә уеибашьит. Аԥхьатәи аан афашистцәа урзымшьыкәа ааиааира уманы ухынҳәит. Ашьҭахьтәи аан ҳаԥсадгьыл ҳцәыргарц иҳақәлаз ақырҭуа гыгшәыгқәа уҭадырхеит. Ухьӡ кашәара ақәӡамкәа иааныжьны уаҳԥырҵуеит иахьа. Ухраҭа бзиахааит! – ҳәа ихдыркәшеит. Аҟәыд хьшәашәар ҳәа ишәеит акәымзар, амра ҭашәаанӡа иааҟәыҵраны иҟаӡамызт. Еиҳа еиӷьны изҳәода ҳәа еицлабны ихцәажәон.

...Ажәҩан аҟынӡа дхагаланы, дылбааганы анышә данарҭа ашьҭахь, Баҭаҟәа иаб абаҟа ацынхәрас

Page 198: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

198

хаҳәса хәыҷык далеигӡараны дыҟазма, акры змаз иабгьы иԥсхәы иуит, иабдугьы иԥсхәы иуит ҳәа шырҳәо еиԥш, абаҟа ду изыҟаҵаны ихаиргылт.

Зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз уи иаҟароу акәым, ахаҳәса хәҷыкгьы зханы иарсымыз маҷҩык ыҟазма.

Ари еиԥш абаҟа заҟа иузтәазеи? Излыху ахаҳә аумак ауп. Иабантәиааугеи ҳәа аӡә диазҵаар ҳәа дшәаны, иааиԥылоз даанкыланы, иаҳәара далагон: «Излааихәазеи иаб ибаҟа ҳәа сзызҳәақәо шыҟоу здыруеит. Ргәы дырҭынчааит, уи сара капеикгьы ахҭнысымҵеит. Киев ҩыза бзиак дсымоуп. Даа-ра акыр зылшо аӡә иоуп. Саб дыԥсит ҳәа аниаҳа, иара дааратәы дзыҟамлеит, аха уаб ибаҟа алаҟаҵа ҳәа Киевнтәи исзааиҭит, Житомир иҵырхуа даа-ра зыхә ҳараку агранит ҳәа изышьҭоу». Уи алагьы аӡәы вбак изсымҭо дҟасҵеит ҳәа игәы рҭынчны дшыҟаз, ҽнак, Ашыцра ҳәа изышьҭоу аҳабла (ақыҭа аҵыхәан) аҟынтәи ԥҳәысеибак дишьҭаланы иҩны дааит (иусҳәарҭаҿы дтәаны аус иуа, шамахамзар, дырбаӡомызт). Бжеиҳан иҩныҟа ишьҭаланы цатәыс ирықәшәон. Ари аԥҳәысеибагьы акы даргәаҟуан, дишьҭаланы акырынтә администрациаҿы днеит, аха данылымбаӡа иҩныҟа дцеит. Ршаҳаҭга шәҟәык инапы ақәҵаны, имҳәыр аарханы иналымгар, лпен-сиа лцәыӡуан. Уи аҽны ада иҩны дымнеиӡацызт.

Амҩан илԥылоз дразҵаауа, илулак дахьын-хоз лыԥшааит. Иҩны днаӡарц егьшлыгымыз, ны-шәынҭрак даадгылт. Абаҟа ду иҭагылаз лылаԥш анақәшәа, иџьалшьеит. Лхаҵа ибаҟа еиԥшызшәа лбеит. Сеилагама, уи ара иаазгоз, лҳәан, давсны ԥыҭкгьы днаскьеит, аха лгәы иамукәа дхынҳәит. Абаҟа дазааигәахацыԥхьаӡа лцәа дҭаӡыӡаауа далаге-ит. Лхаҵа ибаҟа ахаҭа акәызшәа лбеит. Илзымчҳакәа анышәынҭра дҭалан, зны аԥхьаҟа диасуа, аҽазны ашьҭахьҟа давагьежьуа дшаваз, ашьҭахьтәи аганахь

Page 199: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

199

ала лхаҵа «ахаҳә далҵны»лаԥхьа даагылт. Азынк азы дыҳәҳәарц егьлыгымхеит, лгәы ҭыҵны ицо иа-лагеит. Лылақәа хылҩеит дшәаны. Лҿы еилымго, лшьапы деиҭанамго дышьхныԥсылан дгылан. Ас еиԥш ҟалашьас иамоузеи, лхы лнапаҿы иаалган, лылақәа хтны лхы шьҭыхны даниҿаԥшы аԥхьа иара иакәӡамшәа лбеит, абжа акәын ахаҳә иалыԥшны ил-боз. Дадҵны дцарц данналагоз, еиҭах днеиҿамԥшыр лгәы иамуит. Убасҟан ауп арҵәааҳәа даныҳәҳәаз, лхаҵа шәҩык дрылагылазаргьы иԥаҵақәа рыла дылдыруан, иԥсы анҭаз ишныҟәигоз еиԥшҵәҟьа иа-анханы иҟан, адыӷаҷа еиԥш, иԥаҵақәа хахаӡа ахаҳә иалыԥшуан. Ахаҳә дкыдхо аҳәҳәара данаҟәымҵ, Бир-да иԥҳәыс аҳәҳәабжь лаҳан дыҩны дааит. Шықәсыки бжаки ҵуеит, схаҵа дыԥсижьҭеи... ҿыц илаҳаны даазшәа зыҽшьуа ҳнышәынҭра иҭоу дызусҭада ҳәа дахьааиз, ахаан илымбацыз ԥҳәыск абаҟа ашьҭахь дадгылан адҵәыуалара дшаҿыз лбеит. Бызусҭада, бысзымдрит, абаҟа ашьҭахь бадгылан бызҵәыуазеи, аԥхьаҟа ауп исахьа ахьану, уахь биасрауазеи, лҳәеит иҟалҵоз уамашәа ибо.

– Уахь ала зсахьа ану сара дсыздыруам. Сара схаҵа исахьа ахьану садгылоуп. Схаҵа иоуп исҵәыуо.

– Бхагоума, бара, бызусҭада? Сара схаҵа ибаҟоуп ари. Абыржәыҵәҟьа ҳнышәынҭра бҭыҵны бца, уаҳа сыла бҽабмырбакәа, – лҳәан, лыҽлырцәгьеит, лыб-жьы духеит Бирда иԥҳәыс.

– Сара схаҵа ибаҟа сымабкырц бҭахума?– Сара схаҵа итәы ауп... Бара бхаҵа итәы

акәӡам, – ҳәа наҟ-ааҟ еиҿагыланы ишеибырҳәоз, абыржәымзар-абыржәы еибакны рыхцәқәа ааҵибаркәыкәуеит уҳәаратәы аҟынӡа инеихьан еиԥш аамҭаз, рыбжьы (Баҭаҟәа аҩны дыҟан) иаҳан, иҟалаз изымдыруа деиханы дааит.

Page 200: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

200

– Илҭахузеи, дызусҭада ари аԥҳәыс, иҭылхуазеи ҳнышәынҭра? – ҳәа иан длазҵааит, уи аԥҳәыс лхымҩа ԥгашьа игәамԥхо.

– Уи узлазҵаауазеи, сара усазҵаар, сзыргәаҟуа уасҳәоит. Уара ҳқыҭа уеиҳабыми, уахьҳахҭыгәлаз бзиоуп. Абри аԥҳәыси сареи ҳаилургароуп (Баҭаҟәа уи аҽны ада димбацызт уи аԥҳәыс). Абаҟа игылоу схаҵа итәы ауп. Исымалкырц даҿуп ари аԥҳәыс. Схаҵа ибаҟа ауп лҳәеит. Мап, бара бхаҵа итәы акәӡам, сара стәы ауп сҳәеит. Уаҳхьымӡазҭгьы ҳалақәа ҭибахуан. Сҭылцарц далагеит. Уара умааизҭгьы сыҳәҳәо, сеиҭаҳәҳәо, ауаа еизганы иҟоу аиаша расҳәарц, агәра дсыргарц, ари абаҟа схаҵа итәы шакәу дсырдырырц ақәыскит, абра иахьгылоу иаақәган иахьықәыргаз аҭыԥаҿы инаганы иқәдмыргылар сыҽшаҿысшьаауа ҳәа. Шьҭа уара уааит, ажәлар иреиҳабу уара уоуп... суҳәоит абри аԥҳәыси сареи ҳаидымшьылакәа ҳаилырга. Схаҵа ибаҟа ӷьычны иааганы абра иқәзыргылаз ирыхәҭоу иақәыршәа, исҳәо хоумҵозар ара уааи, схаҵа дусырбоит, – лҳәан, ишиҭахӡамыз днаган, абаҟа ашьҭахь данадлыргыла, иԥсы неихаҳаит, аԥсра дақәгәыӷуан акәымзар, ари еиԥш збоит ҳәа дыҟамызт, хаҵак иԥаҵақәа хахаӡа ахаҳә иалыԥшуан. Амца икит. Житомиртәи грани-туп. Хәы-змаӡам акоуп. Амалаҳәа Киевтәи сҩыза исзааиҭиит ҳәа дшыҽхәоз... шьҭа ишԥазиуеи, ауаа ирылаҩыр аҵкыс дыԥсыр моу имамкәа дҟалеит.

Баҭаҟәа иҭаххеит Аҟәараш ақыҭа ахьынӡанаӡааӡо нышәынҭрак аҿы иқәгыламыз абаҟа ду иаб ихаир-гыларц.

Аибашьра ашьҭахь ҿыцны ицәырҵуаз ацәаԥ-ҽыгарақәа зегь раҵкыс иҿаасҭахеит анышәынҭрақәа рырҳәра, хыла ԥшра змамкәа иаанханы иҟаз аны_шәынҭрақәа рыб жеи ҳарак дырҳәит, баҟак аанымхе-ит. Иқәган иргеит.

Page 201: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

201

Баҭаҟәа иаб изы абаҟа ду дашьҭоуп ҳәа аны-шәынҭра арҳәцәа ианраҳа дрыԥшаан, иӷьычны еизганы ирзышьҭаз зегьы дрыладырԥшын, арҭ Житомирынтәи иаагаз хаҳә қәоуп. Хәы-змаӡам гра-нитуп ҳәа иарҳәеит. Иуҭаху унрыла ԥшны уара иа-лых ҳәа днаган днарыладыргылеит. Ус егьы ҟаиҵеит, зегь реиҳа идуз алихит.

Ҩ-метраки бжаки аура змаз агранит хаҳә еиқәаҵәа цырцыруа, иблахкыгаха иаб исахьа ӷьазӷьазуа иала-саны иааганы иқәиргылт.

Акыр аамҭа бжьысит, абаҟа ақәа асит, амра асит, анаатә асит. Ианиаадырхәоз имбарц азы ашәыга-мыгақәа аҿарҩызны ирҵәахыз исахьа алыԥшуа иа-лагеит. Иҟаларын зынӡа аӡәгьы изгәамҭаӡаргьы. Зегь раԥхьа избаз иԥҳәыс лоуп. Уи раԥхьатәи лхаҵа иакәын. Маҷара ақыҭан инхон. Лхаҵа иааиқәшәан дыԥ сит. Дагыруоуп, аха дуаҩы бзиоуп ҳәа акәын дыздыруаз ишизырҳәоз. Маҷаратәи агырцәа рзеиԥш нышәынҭра ҳәа изышьҭаз аҿы дыржит. Абаҟа ду ҟаҵаны ихадыр-гылт. Шықәсык дуӡӡа дзыд ҵәыуалоз абаҟа анылба, мдыршьас илымааз. Ииашоуп уи дыԥҳәыс еибаханы данаанха, хаҵа дцеит. Аҟәараштәык дааигеит, уигьы дхаҵеибан... Маҷаратәи агыруа иҿы ишылзамуз еиԥш Аҟәа раштәи иҿгьы илзамуит. Ԥшьышықәса ракәын иахьынӡеимаз. Аибашьра аԥхьа уигьы иааиқәшәаны дыԥсит. Аҟәараштәи лхаҵа дылҭахымкәа дыҟамызт, аха лгәы зегьы аԥхьатәи иахь иҟан. Данылгәаламшәоз мышкы цомызт. Знык иадамхаргьы дахьжу сцаны, игәы снапы нықәысшьындаз ҳәа дшыҟаз, Баҭаҟәа иаб инышәынҭраҿы дахьнеиз, «Маҷарантәи сбышьҭалан сааит, бызгоит» ҳәа дылзыԥшны дгы лазшәа лгәы ааҟалеит. Ларгьы «сумгар зуам»ҳәа лҳәо зшәа ибаҟа лҽаларԥсны илкит.

...Баҭаҟәа, ари аԥҳәыс лыбжьы ауаа еизнагар ҳәа дшәан, мчыла дҭымцакәа хаала лыгәшәамшәа ҳәо,

Page 202: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

202

бара ишаабҭаху иҟасҵоит, уахаҵәҟьа иқәганы иа-азгаз идсыр гоит ҳәа дыргәыбзыӷны, анышәынҭра дыҭганы ддәы қәи ҵеит.

Уаҳагьы ҟаҵашьа имамызт. Ари ауаа ираҳар аҵәы ишахарҵоз, уи ада ҳәатәы шыҟамлоз идыруан, уаҳа ашьҭы бжь мыргаӡакәа, иаб ихаиргылаз абаҟа аиҩышьшьара иалагазшәа, иаараласны имԥсахыр, абжа амыҩрны ика ҳарашәа ҿыӡгак ҟаиҵан, аиқәыр-ҽаҽарақәа уажә ибазма, нахьхьи аахыс дзышь-цылахьаз акәын, акгьы рыԥсы иахдырӡаауам ҳәа дзықәгәыӷуаз ҷкәынцәақәак азикын, аухаҵәҟьа иаақәганы иргеит, уаҩԥсык имырбаӡакәа.

Иаақәганы изгазеи Бирда ибаҟа ҳәа, аҵаара-ԥшаара иалагаанӡа иара ахаҭаҵәҟьа еиԥшыз ааганы иқәиргыларц иӡбеит. Анышәынҭра арҳәцәа зегьы дрылсит, аха уи еиԥшу ыҟаӡам. Житомир уцаны иаа-угароуп ҳәа иарҳәеит. Ишԥа-ҟаиҵарыз, еиԥш зеиԥшу агранит еиқәаҵәа дашьҭаланы Киевҟа (Житомир) дцеит. Уахь дшыҟаз ауп ауаа шеизаз. Уажәымзар-уажәы дааиуеит ҳәа, ақыҭа аиҳабы дыҟамкәа ҳагәҭыхақәа заҳҳәода, ҳазҵаарақәа рҭак заҳҭода ҳәа аумаамҭа изыԥшын. Аӡәы ианизымычҳаӡа, ари ажәлар хьаас ҳимоума, иара ихатә усқәа дрышьҭазар акәхап. Дахьыҟоу здыруа аӡәыр шәыҟоума? Аиза-раҿы изыԥшны игылаз ргәы ԥҵәаны, дабаҟоу, Аԥсны далҵны дцама ҳәа рҳәацыԥхьаӡа џьоук еи-барччо иалагон. Уи заҳаз аӡәы изымычҳазт, ачча-разы аума ҳзеизаз? Дабаҟоу ҳҳәацыԥхьаӡа ччараха изшәысуазеи? Шәызхыччо закәу шәҳәар, ҳаргьы ҳмыччари, иҳәеит.

Убри аамҭаз Баҭаҟәа имашьына ҿыц цырцыруа дақә тәаны Администрациа ашҭа дааҭалеит.

– Дааит... дааит, – рҳәан, ашҭа азна еизаны игы-лаз ауаа ааилаҩҩит.

Page 203: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

203

Агәашә дшааҭалаз еиԥш, имашьына аанкы-лан, дҭыҵны аԥсшәа реиҳәоз џьыршьон, аха зынӡа уаас имԥхьаӡаӡакәа, заҵа аԥсшәа реимҳәарыз, дырҿамԥшӡакәа дрылсны, имашьына наган адми-нистрациа амардуан инадиргылан, дҭыҵны дыши-ашаз икабинет дныҩнашьшьы дцеит.

Иҟаиҵаз уамашәа ирбан, ирҳәо иақәымшәо, инеиҿа ԥшы-ааиҿаԥшуа иаанхеит азынк азы.

– Зыҟны аус ҳамоу дзакәу жәбома? Жәларак ҳаи-заны ҳгылан, аԥсшәагьы ҳамҳәаӡакәа, иҵыхәа ҳҿа-ҟьаны дцеит, – иҳәеит ак иузаҿамкуаз ахаҵа ԥшьы.

Дыҩнамлац шырҳәоз даадәылҵын,шәеиза ҳәа шәаз ҳәада ҳәа иҽырчны даарылагылт.

Иахьа ҳара ҳзеизаз, ҳәа аӡәы аҭак ииҭарц дала-ган, аха, сара шәсазымҵаакәа шәышԥеизеи. Ами-тинг ҟашә ҵарц шәгәы иҭоума ҳәа, иажәа анагӡаха имҭақәа иҿы хьижәеит.

– Аибашьра зегьы зхызгаз ҳқыҭа ҷкәынцәа роуп. Иҳагу-иҳабзоу еибаҳҳәоит ҳәа иааит. Иамоузеи цәгьарас, рқыҭа гәакьа ахьырхадмыршҭуа бзиами... – Аизара иахьакәым ахы архошәа аниба, амалам ахьи-шьуа далагеит Ҟанчобеи, аха уигьы димырцәажәеит.

– Аибашьра иахьоума ианеилгаз, заҟа ҵуазеи? Уажәоума ақыҭа шрымаз аныргәалашәаз?

– Баҭаҟәа, уара ухаҭа уабаҟаз аибашьра анцоз? – аӷьеҩҳәа аӡә ибжьы аарылаҩит. Баҭаҟәа азны-казы имаҳаӡазшәа ҟаиҵеит, аха уи ииҳәаз ауаа ишыргәаԥхаз аниба амца инаркит. Иқәԥаҩцәа лала идирбеит уи зҳәаз дчалтны ихысырц. Уи алагьы ауаа хыла-гәыла еилаҵаны аизара еилиргарц. Уи аамҭазы, Алиас иакәушәа аӡәы ауаа рыжәпара дрылсны дша-ауаз аниба, днеилууа дцеит. Иаразнак иҽааиԥсахын, иқәԥаҩцәа ила дирбеит шәҽышәмырҵысын ҳәа. Еицәоу ахь икылсыр ҳәа дшәеит.

Page 204: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

204

Аҷкәынцәа, рхаԥыц еихарӷәӷәаны, макьаназ дрычҳа уан. Реиҳабацәа ирцәыԥхашьаны ажәа рҿырԥаауамызт.

– Ус урмацәажәан Баҭаҟәа, арҭ уара уқәлацәа роуп, уҩызцәа роуп. Иахьа зегьы еизаны иануба, уара уоуп ҳқыҭа ахадара азызуа, бзиала шәаабеит ҳәа урԥылоз џьысшьон, – иахьынӡауа ихьеиршшарц даҿын Ҟанчобеи.

Аха Баҭаҟәа, аӡәы ииҳәо имырҳаӡо, абыржәыҵәҟьа шәеимпыроуп ҳәа дԥаԥашькуа даналага, сара са-хьибо акәзар ҟалап абас зыҟаиҵо ҳәа Алиас игәы дынҭахәыцын, иҩызцәа дрылҵны, Баҭаҟәа ишҟа иҿынеихеит. Баҭаҟәа аԥсра еиҳа дақәгәыӷуан акәымзар, иахьа Алиас дызбоит ҳәа дыҟазма.

...Аибашьра анҵәара мчыбжьык аҟара шагыз, мхедрионаа еиҭах ақыҭа аҵыхәан ачаирҭа ду ҳәа иахьашьҭоу ахьаанҵәо абнаршәыраҿы рҽеизгара иалагеит ҳәа Амрагыларахьтәи афронт аҟынтәи Алиас адырра шааиуаз еиԥш, икоманда иманы дрыжәлеит. Аиааиразы егьшрыгмыз Алиас артҟәацга иҵаԥжәеит. Убри аамҭазы Баҭаҟәа аибашьцәа рхәы иманы инеира ақәшәеит.

Аибашьра ианалагаз, иҩызцәа, иқәлацәа зегьы аӷа ианиҿагылаз, иара иаалырҟьаны «дычмазаҩхеит». Зынӡа «дыкны даго» даналага, Тҟәарчал дганы ахәшә-тәырҭаҿы дышьҭарҵеит. Аҳақьымцәа ирзеилым-кааит ихьуаз. Ахьаа абаумоу ҳәа ианиазҵаалак, сани-оу хар сымаӡам, аха сангылалак сыхлахаҵ гьежьуеит, скаҳауеит ҳәа реиҳәеит. Акыраамҭа дышьҭан. Уи иаха рымазма, ахәцәа иааргоз ирыхьӡомызт аҳақьымцәа. Рышьҭаҵарҭа аҭыԥқәа рзымхо иана-лага, Баҭаҟәа ддәылган акоридор ахь дышьҭарҵеит. Уаҟагьы акыраамҭа диан, илақәа ҟәысҟәысуа, хьаа-баак имаӡамкәа. Аха ахәцәа аҩнуҵҟа иамкуа ианала-га, узхьаауа ҳәа егьаабом, уҩныҟа уца ҳәа иарҳәеит.

Page 205: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

205

Ахәшәтәырҭа дҭыҵны дааны иҩны дышьҭалт. Аи-башьра ахьынӡацоз ииарҭа дылҵрангьы дыҟаӡамызт, аха ирласны ҳаӷацәа ҳтәыла иалцаны аиааира аагоит ҳәа шырҳәоз аниаҳа, зыҵа зырцәаакуа аҵарбашьа идыруеит ҳәа шырҳәо еиԥш, аибашьра ахьынӡацоз учмазаҩын, ианеилга убзиахеит ҳәа аҽԥныҳәа иоуа далагар ҳәа дацәшәаны аштаб аҿы днеит. Шьҭа сеиӷьхазшәа схы збоит. Абџьар аанкыланы сшәывагылан аибашьра сылымшозаргьы, егьырахь шәхы сызлашәырхәаша акрыҟазар, схы сеигӡом ҳәа реиҳәеит. Алиас апозициахьтә иаара иазыԥшын. Дшааиз еиԥш, иарҳәеит Баҭаҟәа дааны дшыҟаз.

– Абыргцәа егьырҳәом, аха уаҳа рылымшо аҟынӡа инеит, аибашьцәа рхәы апозициахь агара ишаҿыз. Шәнеи ны иашәҳәа аибашьра илымшозар иеибашьуа рхәы аныҟәгара далагааит ҳәа, – иҳәеит Алиас.

Алиас иудиҵо абри ауп ҳәа аниарҳәа, иааи-цәымӷхеит. Дшацәшәаз анырба, уаанӡа ацареи аареи шәарҭаӡам, уара уакәым аҭаҳмадцәа апозициаҟынӡа аибашьцәа рхәы ганы иаауеит ҳәа игәы дырӷәӷәеит. Дшәон, аха мап изымкит, ҩымш рахь знык 10-ҩык, 15-ҩык апозициаҿы игылаз рхәы ҟаҵаны ирҭон, дышшәаԥырҳаԥуаз иганы иныжьны дхынҳәуан. Хәылбыҽхала акәын гатәыс ианидыз. Ҩымчыбжьа нцәеит уи дшаҿыз.

Уажәшьҭа аибашьра далахәымызт ҳәа аӡәы исзиҳәараны дыҟоума ҳәа иҽырхаҵаны, хәылбыҽхак апозициаҿы ахәы иманы дахьнеиз, аӡәгьы диным_иаӡеит, зегьы ажәыларахь иҟан. Ихынҳәны иаанӡа дырзыԥшыр акәын, аха ахысбыжьқәа иаҳауа данала-га, дшәеит. Ақьала ихы изыҵамкит. Ахәлара иалаге-ит, ахысбыжьқәа ааигәахеит. Ахәы иигаз ааныжьны ишьҭахьҟа деихеит. Дшәаны дышцоз ауп Кани Зукеи Алиас дрыманы ишаауаз дшырҿаҳаз. Баҭаҟәа арҭ аниба, иԥсы ҭалеит, ишәара ихҟьеит.

Page 206: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

206

– Ианаамҭаз уҳақәшәеит, ҳар рхыҭгаҩы Алиас иоуп, (уиҿаԥшны дудыруа дыҟамызт) ӷәӷәала дхәуп. Уара дузаанҳажьуеит, далганы дугароуп. Ҳара ҳхын-ҳәыроуп, ҳҩызцәа аӷацәа рыкәшаны икҿацаланы ирымоуп. Еиқәҳархароуп, – рҳәан, Алиас Баҭаҟәа дааизныжьны, еибарыҩны рышьҭахьҟа ицеит. Рхала ианааизынха ауп Баҭаҟәа раԥхьаӡакәны аԥсра абла данҭаԥшыз. Алиас агәымшәара, ахыҵәҟьа иамго ҳәа изышьҭаз, уажәы дагьыԥсымкәа, дагьыбзамкәа, ихы изымдыруа дышьҭан. Иблақәа изыхтуа-мызт, илацәақәа еиқәыԥсон. Абри еиԥш дшаниоз идыруазҭгьы Баҭаҟәа, душьуазаргьы, уи аҽны арахь даараны дыҟаӡамызт. Иара иакәым, Алиас ихаҭагьы икоманда иманы жәылара данцоз ари еиԥш дақәгәыӷуамызт. Мрагыларахьтәи афронт аҟынтәи адҵа анирҭоз мхедрионаа гәыԥҩык роуп иҟоу ҳәоуп ишиарҳәаз, аха урҭгьы ирыздырӡомызт ақәылаҩцәа рхыԥхьаӡара заҟаҩы ыҟаз.

Амаҭ ахы уаӷрагылан аԥсы аҭыхра уанаҿугьы, сыцҳауеит ҳәа ишалаго еиԥш, аӷацәагьы рҵыхәтәа аԥҵәамҭазгьы еиҭах знык иадамхаргьы ҳацҳауеит ҳәа иалагеит. Ицхлымуа заҟантә иақәлахьаз ақыҭа нықәыццышәаа иаагоит ҳәа, аха Аҟәарашаа афырхацәа анрыжәлалак излааз амҩа рхадыршҭуан, зыԥсы зманы зшьамхы зҽазыргоз раҵкыс, анышә иазаанхоз еиҳахон.

Каҳа изхара каҳа ҟалаӡом ҳәа шырҳәо еиԥш, ирҭаххеит аҽазныкгьы Аҟәараш иақәланы иццы-шәыртәырц. Ақыҭа уахьналало ишьҭоу ачаирҭа ду ачықьқәа ирхәыҵаланы ақәылара ишазыԥшыз, зынӡа ргәырҽанӡамкәа Алиас икоманда иман дрыжәлеит. Имариамхеит ачаирҭа ралцара. Ба-талионк еиҵамкәа иҟаз рабашьтәыс ироуит. Шьыбжьышьҭахьынӡа еиҿагылан еибашьуан. Алиас раԥхьа дгылан, шьаҿак шьҭахьҟа ихьамҵит.

Page 207: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

207

Мхедрионаа аханатә аахыс Сафарбеии Алиаси ракәын изыцәшәоз. Рхацәа ианықәыԥшлак нахыс ргәы рымҟьон. Рышьҭахьҟа иҩны излацаша мҩак аԥшаара иалагон.

Мхедрионаа реиҳабы ирылеиҳәахьан, Сафарбеи-гьы Алиасгьы ҭазырхо, амерседесқәеи жәаба-жәаба нызқь доллари рысҭоит ҳәа. Сафарбеи дышҭахаз анраҳа, агәырӷьара ду рыман.

Алиас ихала даанхеит. Ҳаԥсы дышԥаҳзаҵамҵари ҳәа ишьҭан, аха ҩыџьан ианыҟаз еиԥш, ихала дана-анхагьы ицәшәон.

Хынтә, ԥшьынтә рыла мхендрионаа Аҟәарашаа раҵкыс ишеиҳазгьы, егьрылдмыршеит, ишыҟар-ҵалац еиԥш иаҵахошәа анырба, рыԥсцәагьы ргәа-ламшәеит, рыхәцәагьы ргәаламшәеит, иԥхеи барсны рышьҭахьҟа иҩит. Иҭахаз рҩызцәагьы ахәцәагьы алымгаӡакәа рыԥсы ргеит.

Аҟәарашаа уи аҽны фҩык ҭахеит, ԥшьҩык рхәит ӷәӷәала. Иҭахази ахәцәеи ралгара ишаҿыз Али-ас игәеиҭеит. Иҩны ицоз мхедрионаа хәҩы-фҩык рҟынӡа ихынҳәны, ачаи чықьқәа ирхәыҵҟьан ирыкәшарц ишаҿыз, Алиас урҭ илаԥш ишааҵашәаз еиԥш, ҩыџьа аҷкәынцәа ихы нарықәикын, сара шәсыццоит иҳәеит. Нас егьырҭ рышҟа даахьаҳәын, шәара иҭахази ахәцәеи ралгара шәалага иҳәеит.

Ахыҭҟьа иаҩызаз аҷкәынцәа иманы, ашьажәцәа рымҩа ԥҵәаны ирԥылан амца рыжәырҵарц, ашәа-рахқәа реиԥш абнаршәыра инылҟьа-аалҟьо ишне-иуаз, рцәаара рбеит. Аҷкәынцәа али-ԥси рыбжьара равтоматқәа харшалан иаагылт. Алиас шәаҵха ҳәа аниҳәоз азы рҽырхианы.

– Шәырмеихсын. Итҟәаны иаагароуп! – Алиас абас ааиҳәан, иаԥхьа иҟаз ажра дахыԥан нырцәҟа дахьнықәԥалаз, амина иҵаԥжәеит. Дԥыххаа да-геит. Аҷкәынцәа иаразнак даашьҭырԥааит. Дры-

Page 208: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

208

ман иандәықәла: – Сара сааныжьны шәрыхьӡа... ишәмышьҭын алақәа, – уаҳа егьизымҳәеит. Аарлаҳәа иҿы еилгон. Ус иҳәеит, аха абнаршәыра агәҭаны даа-ныжьны ицозма. Иԥсы ахәага ҭан. Апозициа аҟынӡа дҳазнагар аӡәы дышԥаҳақәымшәари, уи дигап аштаб аҟынӡа, ҳара ҳхынҳәны адҵа иҳаиҭаз наҳагӡароуп ҳәа ргәахы ԥыжәжәо дрыман ишцоз, апозициа аҟынӡа инаӡаанӡа, Баҭаҟәа дырԥыҳалт. Данырба, шьҭа уара дугароуп даашьҭыхны ҳәа идырҵеит. Заҟа ирласны ашҭаб аҟынӡа дузнаго, иара изы ԥсеиқәырхагоуп. Абас изызуз ҳаӷацәа гәыԥҩык ҳчаирҭа иалалеит. Ҳара урҭ ҳрышьҭалоит рҳәан, Баҭаҟәа дизааныжьны рышьҭахьҟа ихынҳәит. Баҭаҟәа ашәара дыкны дыз-гоз, дааунашьҭит, Алиас дыхәны дааган, шьҭа уара дугароуп ҳәа анидырҵа.

Усҟанҵәҟьа уи ихаҿы иааиз, Алиас ихы дамыхәо дшыҟоугьы, ихьӡ-ихыԥша сышԥамыхьчари ҳәа ауп. Дышьҭыхны диман ддәықәлеит. Уеиӷьу, уеицәоу ҳәа, уажәы-уажәы диазҵаауан. Иҿы еилгомызт, егьизҳәомызт. Иԥсы акуан, иԥсыԥ алага-ҩагара аницәыхьамҭахалак, аԥсхыҵра иалаго иеиԥш, ихәда абжьы цәгьахон. Усҟан изқәа днылбааган, деиҵыхны ҵаҟа дышьҭеиҵон. Шьа илаӡамкәа илабазшәа акәын ихиҿы аныԥшылара шыҟаз. Илақәа хырҩарц илацәақәа алеира иалагон, аха мчы ла иаанкыланы, Баҭаҟәа ихәаԥшра далагон.

Судырма ҳәа лассы-лассы Баҭаҟәа диазҵаауан, аха иқьышәқәагьы ҵысуамызт, илақәагьы изых-туамызт. Иԥсы акра ианаҟәыҵлак даашьҭыхны ддәықәлон. Аҵх наскьацыԥхьаӡа абнаршәыра алашь цара ахаԥон. Амҩаду аҟынӡа рацәаӡак бжьа-мызт, аха амҩахәасҭақәа рацәан, акы ушиашоу унанагон, аҽакы уавнагон. Баҭаҟәа дышиашаз дкы-лызгоз дақәымшәеит, дымҩахҟьеит. Ақәоурагьы иалагеит. Ақәа зынӡа аҽанарӷәӷәа, ҵла дук амҵан

Page 209: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

209

даангылан, Алиас днаган ашьапаҿы днышьҭеиҵеит. Убри аамҭаз, аԥхьа дзыршәаз ахысбыжьқәа еиҭаиаҳаит. Агәыҭҟьара еиҭаизыҟалеит. Иҟа и ҵара изымдыруа, деилаԥаҭеит. Ахысбыжьқәа еиҳа-еиҳа изааигәахошәа иаҳауа далагеит. Арҭ Алиас иоуп изышьҭоу, дыхәны дшыҟоу рдыруеит. Хымԥада, ишьҭазар акәхап, ҳихьӡаны дԥыраҳхуеит ҳәа. Иара усгьы иԥсуа иоуп, ианҳахьӡа, саргьы исеигӡом, сыр-шьуеит, иҳәан, Алиас дкажьны иара иԥсы игеит. Убасҟак дшәаны даауан, аштаб ахь дымнеиӡакәа давсны, иҩныҟа дцеит. Иҩны дахьнеиз иҟасҵаз схы санарсуеит ҳәа азхәыцра далагеит. Егьимыхькәа данаанха, иҩызцәа сыкнаҳаны сырхәыруеит, ҳәа дшәаны, аҵысра далагеит. Ҧыҭраамҭак ашәара ихыԥсаауамызт. Абасҟак изхьаазгозеи, Алиас дыз-лазбаз, уахатәи аҵх ззыхго иакәӡам. Илақәа хиҩахьан данаансыжьуаз ҳәа, ихала игәы ирӷәӷәауан, ашәара ихицеит. Алиас иаҵкыс еицәаны изыҟалеит, далганы дга ҳәа идызҵаз аҷкәынцәа анигәалашәа. Ҳара дна-ганы дуаҳҭеит, уара дкажьны уцеит ҳәа иаасҿагылар ишԥаҟасҵои? Хҿыхгас исыԥшаарызеи ҳәа азхәыцра далагеит. Ҵхыбжьонынӡа дарцәомызт ауаҩымра иҟаиҵаз. Аҵыхәтәан, ихәыцра аҵкыс ицәа аниааи, дыцәеит, ииарҭа тата дылаианы.

Алиас уи аамҭаз адгьыл аӡаҿы дышьҭан деиқәы-хьшәашәа, иԥсы ахәага ҭан, аха дзынаҳәааҳәуамызт. Ихдырра аниоуаз аҵкыс ианицәыӡуаз еиҳан.

Ҵхыбжьон агәазы абгақәа икәшо иалагеит. Ашьа илҵыз афҩы ркызар акәхап. Урҭ мықәшәатәқәоуп иааџьоу шьаратәы. Ашьафҩы анырҿаслак ауаҩы итәу, арахә иртәу еилымкаакәа, ааигәа инеиӡом. Арахә иатәызар ишәаӡом, ишиашоу инеиуеит иахьышьҭоу. Ауаҩы итәызар ишәоит, иԥсы ҭоу иҭаму еилымкаакәа иааигәа инеиӡом. Алиас ишьа ауаҩы ишитәыз рдырит, аха иԥсы ҭоу иҭаму еилыр-

Page 210: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

210

каарц, рылақәа апрожекторқәа реиԥш ижжа-жжаӡа (абгақәа рылақәа уахынла икәеицеиуа иалагоит), зны иаԥхьала ииаҟьо, аҽазны ишьҭахьҟала ивҟьо, дахьышьҭаз ишивагьежьуаз адгьыл ацәа ахаӡамкәа иахырхит.

Алиас ибон абгақәа иҟарҵоз, аха ихы изыхьчо дыҟа мызт, иҽизырҵысуамызт. Ибжьы изыҭкаа-уамызт... игәалашәеит афонар иџьыба ишҭаз. Уи ада иҽызлеихьчаша акы имамызт. Идыруан урҭ алашара рҿаҷҷар, ишәаны ишыҩуаз. Ииулак ина пы аус аруны (хыхьтәи иџьыба акәын изҭаз) аарлаҳәа иааҭигеит. Дызқәыӷәӷәаша акнопка дақәымшәеит, еилаԥыҵәҵәа иҟаз инацәкьарақәа рыла исзыԥшаауазар ҳәа дшаҿыз, абгақәа руак аа-ихаххит ахаԥыцқәа хырџьаџьаны, ихәда иамҵасны иакырц (Абгеи ауаҩи ахьеиԥшу ыҟоуп ҳәа ззырҳәо уи азы акәзар ҟалап. Ауаҩы арахә анишьуа ахәда ԥиҟоит. Абга иакуа ахәда ԥнажәоит). Ихәда ԥнажәарц егьагӡамызт. Анцәа дихьчеит, инацәақәа руак ак-нопка иақәшәан, афонар лашеит. Уиакәхеит, ала-шара анаарылаҷҷа, ишәан, еибарыҩны абнаршәыра инылапҟа ицеит.

Абгақәа аницрыҵ ашьҭахь деицәахеит, еиҭах игәы аангыло иалагеит, ихдырра ицәыӡит. Афо-нар инапала иаиркыз измырцәеит, ишакыц иакын. Еиҭах уи деиқәнархеит. Аштаб аҟынӡа уажәыгь днарымгаӡац. Дахьыҟоу аӡәгьы издырӡом ҳәа раҳан, иҩызцәа ишьҭалеит. Ашара акыр шагыз, абнаҿы алашара ххаӡа ишаркыз рбеит. Еибарыҩны иахьнеиз, Алиас аԥсхыҵра дшаҿыз иааихагылт. Али-ԥси рыла даашьҭԥааны, Тҟәарчалҟа дыргеит. Ахәшәтәырҭа дрыман ианыҩнала, аҳақьымцәа иа-артны ирзымҳәеит акәымзар, иԥсы зшәыргәаҟуазеи, иҩны дааншәыжьындаз ҳәа акәын дрыцҳашьаны ишихәаԥшуаз.

Page 211: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

211

Алиас иԥсы иахьӡеит, абнаҿы дыхәны дшышьҭаз рбеит. Тҟәарчалҟа дрыман ицеит ҳәа Баҭаҟәа ианиаҳа амца инаркит, ихы агарҭа имоуа дҟалеит. Иараз-нак иҽирчмазаҩит (Иидыруаз ҟаиҵеит)... Абарҭқәа рышьҭахь Баҭаҟәа аҩны ихы изыҩнамкит. Алиас иԥсы ҭаны даанхауоу, даанымхауоу еилыскаауеит ҳәа ахәшәтәырҭахь дцеит. Дахьнеиз раԥхьаӡа дна-зыдгылаз ҳақьымк диазҵааит, ичмазаҩны иааргаз деиқәхарымашь ҳәа, дицәнымхошәа иҽыҟаҵаны.

Уи егьимыхьыр здыруада, аха дуаҩыбжан даан-хар ҟалап ҳәа иарҳәеит.

– Ахәшәтәырҭахь даазгада, урҭ ара иҟоу, ицахьоу, избарц сҭахуп, иԥсы ҭаны дахьааргаз азы иҭабуп ҳәа расҳәароуп – иҳәеит, илақәагьы еихаҟәысуамызт.

– Аибашьра далызгаз ршьит, аранӡа даазгаз даҽаӡәқәоуп.

– Рыхьӡқәа удыруама?– Ишԥасымдыруеи, Кани Зукеи рами. Аа, зеиԥшра

ҷкәынцәоузеи, алақәа ишԥарфеи! Урҭ аҩыџьа ракәын Алиас дызманы иаауаз.

Шьҭа уара дугароуп. Ҳара ажәыларахь ҳхынҳәуеит ҳәа дизныжьны ицаз, урҭ ракәын дзыцәшәоз, ҳара ачаирҭа далган диаҳҭеит, иара дкажьны дце-ит ҳәа ишиҿагылоз идыруан. Рҭахара даара игәы иалирсызшәа ҟаиҵеит.

– Алиас итәы ҳәа исоуҳәозеи? – даара дизгәаҟуазшәа илахь еиқәҵаны диазҵааит.

– Алиас амина иҵаԥжәазаап, еибгаз баҩ изаа-нымхеит, дԥыххаа дагеит. Иахьа ашарԥазы иҩызцәа дрыԥшааит, абнаҿы дшышьҭаз дырбеит рҳәеит, арахь дааргеит, аха даара дычмазыҩ ӷәӷәоуп.

Ари еиԥш аниаҳа, ҽырчмазаҩ ҟаиҵозма, деиханы аштаб ахь дцеит. Дахьнеиз ҳәсеи хацәеи аштаб ашҭа иазымкуа еилагәырҩо еилагылан. Аӡәаӡәа, ҩыџьа-ҩыџьа ракәымзар, акрааҵуан абасҵәҟьа уахык ала

Page 212: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

212

фҩык ҭахо иҟамлацижьҭеи. Ас еиԥш агәырҩа ахгара хьамҭан. Анацәа ҿымҭӡакәа алаӷырӡ икарҭәоз, ахаҳә гәы зызҭамыз игәаҵа кылнаҵәон.

Ан зыҷкәын дҭахаз леиԥш акәын анацәа зегьы, дара ртәы иакәушәа ргәы шыҭнашьаауаз.

Аибашьцәа еилагьежьуа иахьгылаз Баҭаҟәа рааигәа анеира изымгәаӷьит. Рҩызцәа ахьҭахаз рзых го мызт. Усҟанҵәҟьа урҭ Баҭаҟәа дырбо иҟа-

мызт. Днарылс-аарылсуа дрылан. Дшәаны иҿы еихихӡомызт, ирҳәоз зегьы илымҳа кыдҵаны дазыӡырҩуан. Иаҳарц ииҭахыз акызаҵәык, Али-ас итәы акәын. Иааҟәымҵӡакәа излацәажәоз иацы иҟаиҵаз афырхаҵара атәы акәын. Дыхәны дахьы-шьҭаз, дшырбаз, дызбаз, даазгаз атәы аӡәгьы иҳәаӡомызт. Иара дшәаны аӡәгьы дизҵааӡомызт. Дкажьны дышцаз ааиҵырдыраар, иара уаҵәҟьа деимыжәжәа дықәырҵон. Убасҟак аҟынӡа рыгәқәа еиҟәыҷҷон Алиас дахьырзымыхьчаз азы.

Рыла схымгылар еигьуп. Ишны иҟоуп, изымчҳакәа аӡәы хҭынҟьак сиҭаанӡа срылҵны сцоит ҳәа дшаҿыз, ҩыџьа еидгылан иеибырҳәоз илымҳа иҭасын, дааннакылт. Иҟалаз шыҟалаз шьҭа еилкаашьас иамоузеи? Даара дшәарҭоуп. Аԥсреи абзареи дрыбжьагылоуп, шәышзахәо дшәыман шәцароуп ҳәа Алиас игара здаҳҵаз, амҩабжа дна-ган даҽаӡәы димардан, уи макьана деилкааӡам, да-аныжьны рҩызцәа ирыхьӡеит ажәылара ишаҿыз. Ихнымҳәыргьы иҟалоз здыруадаз, рҽазыҟаҵаны иаауан аӷацәа, аха иахьырмыгӡеит. Рымҩа ԥҵәаны, ачаирҭа ду аҿы аӡмах «Камбашь зҭаԥсыз» ҳәа изышьҭаз иҭацаланы иҭархәаҽит. Убраҟа ауп иахьҭахаз Баҭаҟәа зегь раҵкыс дзыцәшәоз. Иара ихәыцшьала, урҭ шьҭа шаҳаҭра рызуам. Алиас усҟак дицәшәаӡомызт, сыхәны сшыҟаз скажьны ушԥааи ҳәа знымзар-зны иаасҿеикуеит ҳәа. Кани Зукеи да-

Page 213: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

213

низынрыжьыз ауаҩ дидыруа дыҟамызт, иара ихаҭа дкажьны данцозгьы аӡәы дидыруа акәым, иара ихы изымдыруа дыҟан.

Алиас Москва дгәаҟуа данышьҭаз, ибаразы ицаны иаауаз зегьы аанкыланы дразҵаауан деибганы дза-арушь ҳәа, дицәнымхошәа ихы дирбон. Аԥхьаҵәҟьа уи дшыҟоу ҳәа изларҳәоз ала деибганы даауеит ҳәа дыҟамызт Баҭаҟәа.

«Ишәҭахузеи? Шәеизызгада? Абыржәыҵәҟьа шәықәҵ роуп. Уаҳа шәхабар сымбароуп», – ҳәа дҳәым-пырҵызуа дышрылагьежьуаз, ҳаибамбеижьҭеи иҵӡозеи иҳәан, Алиас дрылҵны дааины Баҭаҟәа да-нааидгыла днелууаа дцеит, аԥсшәа иаҳәара акәым, инапы имыхшьаҵәҟьа дақәымшәеит. Москвантәи иԥсы ҭаны даауеит ҳәа дыҟамызт. Иҵагылан даар-гоз џьишьон. Дааӡаргьы ишьапы дықәгыло ахаан дзыҟалом ҳәа акәын ишидыруаз. Уажәы иаԥхьа дгы-лан, анкьа дшибахьаз дыҟан, аҿҿаҳәа дцәажон. Аз-нык азы иара иҿы акит, аха Алиас даԥсышәа маца-раха, акгьы инмырԥшӡакәа аԥсшәа аниеиҳәа, сышҟа гәалак имазҭгьы аҽакала дсацәажәон иҳәан, бзиала уаабеит, анцәа иџьшьоуп уеибганы уахьыхынҳәыз, даара сеигәырӷьеит иҳәан, инапы имихит.

– Мчыбжьыкгьы ҵӡом сааижьҭеи, ҳқыҭа зегьы срылсны избеит.

– Ушаауаз здыруазҭгьы, суԥымлози. Аиаша уасҳәоит, даара сеигәырӷьеит, иахьа абра уахьыз-баз. – Уажәраанӡа зҽырбабаны игылаз, уажәы Алиас иаԥхьа дкаиарц егьигмызт.

Еизаны игылаз зегьы игәарҭеит Баҭаҟәа Алиас да-ниба нахыс иҽшиԥсахыз.

– Уара иузымдыруа, узин рымамкәа иахье-изаз угәамԥхозар ҟалап, аха уаанӡа ҳаламгеит. Ҳаузыԥшит, – иҳәеит Алиас гәшәамшәа крала.

Page 214: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

214

– Шәалагандаз, сара мап сҳәозма. Исыхьыз уи ауп, аԥхьа санаарылаԥш «ачымазцәа»ракәыз џьысшьеит еизаны игылаз... Алиас уара иузымдыруазар ҟалап, ҿыц ицәырҵны иҟоуп ачымазара ҿкы, уҳәан-сҳәан ныҟәгаҩцәа иҟаминымҳәаҩцәа, аиҳабыра «амыз-хуа, иазҭо», аҳәынҭқарра аарҳәны иқәзыргыло. Урҭ иаарҭаххацыԥхьаӡа амитинг ҟаҵараз ифраҭцәоуп. Џьоукы хьыжьимбистаа ҳәа ирышьҭоуп, аҽа џьоукы барбарисҭаа ҳәа ирышьҭоуп. Уажәы хәалацистаа ҳәа џьоукы цәырҵит. Шәара шәызшоу шәисасуп. Иҳамоу иреиӷьқәоу шәоуп. Бзиала шәаабеит! – иҳәеит, Али-ас ицәымӷра илыжжуан, аха схысҿы иансырԥшуам ҳәа даҿын.

Баҭаҟәа еизаны игылаз ауаа ахьыҟаӡам ахь даго даналага, Ҟанчобеи зегьы даарылҵны раԥхьа даагы-лан, зынӡа имырхьааӡакәа иажәа ааԥҵәаны, – Ажәлар шәхаҵкы! Ҳара иахьа ара ҳзеизаз аӡә дамахуеит аӡә даҳҭоит ҳәа акәӡам, – иҳәан, ацәажәара далаге-ит (Ҟанчобеи ҳаҭыр ду зқәыз ақыҭаҿы, зегь раԥхьа идыргылоз, иззыӡырҩуаз, ацәгьеи абзиеи реилыргаҩ ҳәа изышьҭаз иакәын). – Иахьатәи ҳаизара зыз-ку Алиас иаароуп. Ҳқыҭаҿы аӡә дыҟоуп ҳәа сыҟам Алиас деибганы даҳзаашьҭы ҳәа анцәа имыҳәоз. Ажәлар, шәыхь згеит, шәызегьы ахәҷыҷақәа рыда, егьырҭ ижәдыруеит Алиас ҳқыҭазы илиршахьоу, аибашьра ҟалаанӡагьы, ианыҟазгьы. Уи даара ирацәоуп, ирацәаӡоуп. Ас иааркьаҿны иузҳәом зе-гьы (дызлаҟамыз ҳәа акгьы сҳәаӡом). Иеиԥш зеиԥшу дҳамамызҭгьы ҳәа анцәа ҳиҳәозҭгьы акәхарын. Уи иҩызаҵәҟьа иакәын Сафарбеигьы. Аха уи ҳара даҳмаӡеит, иԥсадгьыл ихы ақәиҵеит. Ԥсра зқәым афырхаҵа ҳәа ихьӡ ҳзаанижьит.

Ԥхьан баша исымҳәаӡеит, иахьа ҳаизызгаз Алиас иаара ауп ҳәа. Акырынтә иақәаҳкхьан, ҳарҭ абырг-

цәа аибашьра ашьҭахьтәи ҳаԥсҭазаашьа ҳаизаны

Page 215: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

215

ҳалацәажәап ҳәа. Аха ҳҿар ақыҭа ааныжьны ицахье-ит, ҳрышьҭаларгьы иаҳзеизгаӡомызт. Алиас дааит ҳәа анраҳа, иҩызцәа аибашьцәа аӡә даанымхакәа рызегьы еизеит. Жәылара ианцоз еиԥш, икәшаны иаагылт, ҳхыҭгаҩ уоуп, иҳадуҵо азы ҳахиоуп ҳәа.

Аӡә игәы аҽакы аанамгааит. Еиҭасҳәоит, иахьа ҳара ҳазлацәажәарц иаҳҭаху ҳқыҭа аҭагылазаашьа ауп. Ақыҭа аԥсҭазаара иахьа уаҩы дацәшәаратәы иҟалеит. Аибашьра ашьҭахь аӷьацара амҩа ҳақәлоит ҳәа агәыӷра ду ҳаман. Ҳаҷкәынцәа ршьа каҭәаны ҳазқәынхоз ҳадгьыл рыхьчеит. Заҟаҩгьы рхы ақәырҵада. Адунеи аҿы иааҟалахьоу аибашьрақәа зегьы зыхҟьаз адгьыл ауп. Ақырҭцәа ҳаргьы ҳазқәырфо ҳадгьыл ауп. Ҳҵеицәа афырхацәа, урҭ ааны, ихынҳәны ҳадгьыл ршьапы рзықәмыргыло иҟаҵаны, иқәырцеит. Ҳадгьыл ҳара иҳазнымхеи, иахьцоз иргама?

Ҳҽызхаҳшьаауа ҳадгьыл ҳара ишаҳтәыз ианаанха, икажьны ҳақәҵны ацара ҳалагеит. Ари аанкылам-зар, иаарласны ҳқыҭақәа ҭацәуеит. Аԥсуара ахьиуаз ақыҭақәа қьамҭахоит. Ҳазегьы ҳзааӡахьаз, адунеи иқәынхо ажәларқәа аӡәы ҳиламҩашьо ҳрылубаауа ҳҟазҵаз, ҳаԥсуара ҟьо ақыҭақәеи ақалақьқәеи иҳаман ҳашрыбжьоу, уахьгьы иҟамкәа, арахьгьы иҟамкәа, зынӡа иаҳцәыбжьаӡыр алшоит. Анцәа иумҳәан уи еиԥш... Усҟан ҳара ҳазусҭцәада? Егьырҭ аԥсуа қыҭақәа аибашьра ашьҭахь ирыԥсҭазаашьоу сыздырам, аха ҳқыҭа, сара излазбо ала, аӡрахь ахы хоуп. Еиқәырхашьас иамоу атәы ҳалацәажәароуп. Иаԥырхагоугьы ҳиқәыӡбароуп. Иахьоума шәгәаҵәа анеилгаз, абасҟак аамҭа зҿышәымҭуаз ҳәа аӡәы игәы иаанагар алшоит. Аха, ижәдыруазааит, ҵәҩанк ала аанда шузымшышуа. Изхысҳәаауа аӡәык-ҩыџьак роуп иаанханы иҟоу. Ак аазҳәарц иалаго, шәара шәхаан еиҳа еиӷьызма, аколнхацәа ҵакны

Page 216: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

216

ианшәырцәаӷәоз аамҭазы ҳәа уҿы ԥыржәоит, деиҳабуп ҳәагьы усыс имкӡакәа. Ус зҳәо зусҭцәоу шәаргьы ижәдыруеит. Аибашьраан ҽыр чмазаҩы ҟаҵаны ишьҭази иалҵны ицаны Урыстәыла амалрҳара иаҿқәази роуп. Урҭ роуп иахьа ақыҭа знапы иаку. Урҭ ҳаԥсҭазаара еиӷьыртәуеит ҳәа ҳазрықәгәыӷуам. Ҳара гәыӷырҭас иҳамоу, зшьа каҭәаны зыԥсадгьыл зыхьчаз ҳҵеицәа роуп. Иахьа-гьы урҭ ҳқыҭа еиқәдырхароуп.

Ҳазегьы ҳаззыԥшыз дааит. Уи ҳарҭ аибашьцәа ҳаԥ хьагыла иакәын. Ар рхыҭгаҩы ҳәа ҳишьҭан. Иа-хьагьы ҳаидкыланы, ҳаԥхьа дгылароуп. – Ҟанчобеи ицәажәара анааникыла, зшьапқәа еибгоугьы ус длас-ны дызныҟәарым, шьапызаҵә ашырҳәа даарылҵы (егьи ишьапы аибашьра иҿнаххьан) раԥхьа даа-гылт Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьыӡ ҳаракы занашьаз Аполлон Аханба... Аполлон иажәа ҳәаны далгаанӡа, аибашьцәа зегьы рнапы изеинырҟьеит. Ииҳәаз убасҟак аҟынӡа иргәаԥхеит.

– Ҟанчобеи, уара уиашоуп. Сцәажәап ҳәа сгәы иҭаӡамызт, аха уара уанцәажәа ашьҭахь, сар-гьы ажәақәак сҳәарц сҭаххеит, – иҳәан, Апол-лон иааимидеит Гәдиса Баӷба, аибашьра ҟалаанӡа акыршықәса инеиԥынкыланы ақыҭаҿы абыргцәа рхеилак хадара азызуаз. Аизараҿы иҟаз абыргцәа акы иҳәандаз ҳәа ишҟа иԥшуа игылаз, илабашьа кны данаарылагыла, ргәы иаахәеит. Зегьы ирдыруан уи ицәажәара шҵакыдамыз, игәы иамыхәо акы ибар, ма иаҳар ишиҵеимҵәахуаз, игәы иамыхәазгьы аартны ишиҳәоз. Ақәра ду имоуп, аха акгьы иԥырхагамхаӡеит, ихшыҩ ҷабӡа ишимац имоуп иа-хьагьы ҳәа акәын зегьы дшырыԥхьаӡоз.

Аибашьра ашьҭахь, шәхы цеит, шәаамҭа цеит, шәлаба рҟыгәуа шәабаҳҭаху рҳәан, анапхгаҩцәа ҿыцқәа илаԥшы қәырҵан еимдырпит.

Page 217: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

217

Гәдиса уи зынӡа хьаасгьы иҟаимҵаӡеит, акыр дшааԥсахьазгьы, абра уаҭахуп ҳәа аниарҳәалак, мап ацәикӡомызт. Аибашьраан зыхшара ҭахоз абацәа заҟаҩы ргәырҩа хиҽхьааз.

Зыҷкәынцәа ҩыџьа аибашьраҿы иҭахаз аӡәы (урҭ аҩы џьа рыдагьы ҵеи димамызт) агәырҩа иҽеиҭеит. Ауаа зегьы чҳашьала еиԥшым гәаҭала ишеиԥшым еиԥш. Уи ичҳара кәадахан, агәырҩа ииааит. Ҩымчыбжьа иҩны ддәылымҵӡакәа дыҩнатәан. Кри-фомызт, крижәуамызт, адунеи дзықәыԥшуамызт. Амлашьра иҽаиргарц иӡбеит. Иуацәа, иҭынхацәа уахгьы-ҽынгьы идтәалан, илабжьон, аха акым-зарак иирҳауамызт. Амлагара лассы дамгошәа аниба, иҽынкнаҳаны иҽишьырц дшаҿыз ихьӡан, ихәда иахеиҵахьаз ашаха ԥҟаны деиқәдырхеит. Уи ашьҭахь еиҳа деицәахеит. Аҿаҵа ихәда илымбаауа дшыҟац даанхеит.

«Шәидтәаланы шәызихәаԥшуазеи, агәырҩа дахьа-го шәымбаӡои! Абарҭқәа реиԥш аан ауаҩы хәшәыс имоу ауаҩ иоуп. Гәдиса Абаӷба аиарҭа дамамкәа ишьапы дықәгыло дыҟазар, шәцаны дизаажәгароуп. Уи ибз хәшәуп. Гәырҩахҽыгоуп», – ҳәа иҭынхацәа иреиҳәеит, ибара ҳәа лассы-ласс иаалоз уаҩ быр-гык. Ишааиҳәаз, ишьҭалан ицан, дааргеит. Аиарҭа дамамызт, аха ӷәӷәала ахьҭа илалан дыҟан, аҩны удәылымҵын ҳәа иԥҳәыс дышидгылазгьы, иҟалаз аниарҳәа, уи ауаҩ акаамеҭ изыҟалан дшыҟаз им-дыруази, ахьҭа сылалазар исылымҵыр иабацои, арыцҳара зызхымго ицхраатәуп иҳәан, дрыцны да-аит. Иибахьаз дабаҟаз, илақәа ахьҭоу умбо, ицәеи ибаҩи еикәыршаны, агәырҩа дызҵаз ихәда хҽны да-ман, ихы дҩахан изышьҭымхуа аҟынӡа днанагахьан.

Дшыҟаз аниба, иареи сареи ҳаиушәыжь, иҳәеит. Иажәа ҩбамтәыкәа зегьы дәылҵит.

Page 218: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

218

Ҩ-сааҭк ирзынаԥшуа рхала иҟан. Ашьҭахь аҩыџьагьы еицдәылҵит. Зегьы уамашәа ирбе-ит, аха акы рыԥсы иахыдмырӡааит. Иҷкәынцәа анышә иамаданы дхынҳәызар аахыс знызаҵәык иадамхаргьы аҩны даадәылҵны адәы днықәыԥшуа ҟамлаӡацызт. Алашара дара ирбом, сара изызба-рызеи ҳәа адәахьтәи акәым, аҩныҵҟатәи алашара-гьы аиркӡомызт. Деиқәылашьца дтәан. Еибырҳәаз здыруада, адәахьы ддәылигеит. Дцо даналага, диц-ны агәашә аҟынӡа днаскьеигеит. Гәдиса агәашә иҭыҵымҭаз, аа, абаақәа, уаҩ иҟаимҵац ҟасҵеит. Сыҩны умааижьҭеи иҵӡозеи, иҵасым, ҵәыцак аанымкылаӡакәа... ушԥасышьҭуеи, иҳәеит аԥшәма даалҵын.

– Агәашә сҭыҵхьеит, аха уара иануҳәа мап сзахҳәаауам, – иҳәан, Гәдиса ишьҭахьҟа даахынҳәит. Еиманы иҩналеит.

– Акы шәҽалашәымгалан, имазеины ишәымоу аажәга, – иҳәан Гәдиса, акәакьҭаҿ игылаз астол хы-гьежьаа днадтәалт. – Уаԥхьа стәеит, ииашамкәа иҟасҵеит, утәа уааины, – иҳәан, аԥшәма, дидтәалару дидымтәалару дақәымшәо данаанха, имахәар аанкылан дааган диваиртәеит. Али-ԥси рыб-жьара ахыжәла нықәыргылан, ҩ-ҵәыцак рҭәны инарымҵадыргылеит. Гәдисеи аԥшәмеи неиҿаԥшы-ааиҿаԥшит, аха аҵәца аӡәгьы иаанимкылт.

– Гәдиса, акы аанкыл! – иҳәеит аԥшәма, аҵәца шьҭихырц игәы ишҭамыз аниба.

– Уара уаԥшәымоуп, аԥхьа изыхәҭоу уара уоуп. Нас саргьы иааныскылоит, – иҳәеит Гәдиса.

Аԥшәма мап изымкит, инапқәа ҵысуа, игәы ишаҭахӡамыз иааникылан, ихҭәалан иқәиргылт, ҿамҩак ахымжәааӡакәа, Гәдисагьы аԥшәма ишьҭахь иааникылан, иара ишыҟаиҵаз еиԥш ихҭәалан инықәиргылт.

Page 219: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

219

– Ус ҟоумҵан, ҵәыцак аҟара ужәыр сгәы абаауе-ит.

– Сымацара изжәуама, уара иҟоуҵаз ҟасҵеит. Амала ҳҩыџьагьы иҟаҳҵаз иашаӡам. Ихҭәалан, иахумжәааӡакәа ақәыргылара ҵасым, рҳәоит, уахьынтәи ицаны иаахьада, аха аԥсы изы исабаԥым рҳәоит.

Аб уи ииҳәаз ажәак ахымҳәааӡакәа ихиҭәалахьаз аҵәца аақәхны ихижәааит.

– Хыжәладагьы иҵасӡам, аԥсы иԥырхагоуп... Абарҭқәа зегьы заԥу аԥсы иԥылоит, – ҳәа ихы-гәы дынҭалан, аб рыцҳа, зыхәда еималарц егьыз-гымыз, ҿаҵақәакгьы лбааидеит, ҵәыцақәакгьы (ҭимырцәызаргьы) рыбжа-рыбжа рҟныӡа ииржәит. Днаскьаганы дуоишьҭит. Ианеиԥырҵуаз, зынӡа сышьҭамхозар сеиҭаауеит ҳәа иеиҳәеит.

– Убара шысҭаху анцәа сибааит, аха угәы бзиамкәа амҩа уқәымлан, сара снеиуеит, иҵегьы ҳнеицәажәарц сҭахуп, – ҳәа иеиҳәеит.

...Ажәа егьыхәшәуп, егьышҳамуп. Аҽшьра аҟынӡа инеины, ашаха кнаҳан иаҵагылаз

аб рыцҳа, ажәа лабжьарала Гәдиса даҵигеит. Лашь-царамзар лашарак сыла иасырбом ҳәа зыҩны идәылымҵӡакәа хланҵы иԥшуа итәаз, дааирԥшит. Адәахьы ддәылигеит. Адунеи дықәирԥшит. Зынӡа иааигәаны акәымзаргьы, алашара ахьыҟаз аҟынӡа илаԥш наӡо далагеит...

Аизара иҟалараны иҟоу уҽалаурхәырц сҭахуп ҳәа изицҳан дааит. Гәдиса ацәажәара даналага, иажәақәа акы илымҳа иавимыжьырц, дизааигәахан дгылт.

Амҵ ԥыруазар абжьы уаҳауа аҟынӡа ҭынчрахеит, Гәдиса ацәажаәара даналага.

– Ҟанчобеи ииҳәаз шәаҳаит. Иахьатәи аԥсҭазаашьа иҳамоу атәы далацәажәеит. Ииҳәаз зегьы иашо-уп, аха дагәыламлацәакәа иааркьаҿны иҳәеит.

Page 220: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

220

Сара, аҽагажә ҳаԥшьа хтыгоуп ҳәа шырҳәо еиԥш, снагәылаланы ҳшыҟоуҵәҟьа сҳәарц сҭахуп. Иахьа ҳарҭ, акыр зықәрахь инеихьоу зегьы, иаҳҳәо акоуп. Ҳҿар ҳқыҭа ааныжьны ақалақьқәа рахь ацара излаҿу ала, ҳқыҭа ҭацәуеит. Ҳара ҳаиԥш ақәхап егьырҭ ақыҭақәа рҿгьы ишыҟоу. Ус ҟашәымҵан, шәзааӡаз шәыҩнаҭақәа кашәыжьуама ҳәагьы гәыбӷанс иру-ҭозеи. Иаангылар излагозеи, хныҟәгашьас иры-моузеи, аколхоз ыҟам, асовхоз ыҟам, аус абаруеи, ишәҭаху ҟашәҵа, ишышәҭаху шәынха ҳәа ауаа еиу-рыжьит.

– Ауаа рыбӷа ԥызҵәахьаз, ихзырҵәахьаз акол-хозқәеи асовхозқәеи рахь еиҭа ҳхынҳәырц уҭахума? – ҳәа Баҭаҟәа изымычҳакәа аҵәы илеиҵеит, аха Гәдиса имаҳаӡашәа ҟаиҵан, иажәа аанымкылаӡакәа ацҵара даҿын. Ауаа ракәым арахәҵәҟьа еиуужьыр ишԥаҟалои?

– Шәрахәқәоуп ҳәа аума ҳҿар ироуҳәарц иуҭаху? – Баҭаҟәа еиҭах даацәыҵаҟәындҟәындит, ибжьы зегьыҵәҟьа ракәымзаргьы, иааигәа-сигәа игылақәаз ираҳауа. Ииҳәаз иадгылоз џьишьон, аха аӡәгьы алаҿимҭӡеит. Гәдиса аҭакс ииҭарызеи ҳәа иԥшын.

– Аҿар рахь иумырхан, Баҭаҟәа, сара сызҿу аҭыԥ ԥхақәа аанкыланы, жәлар рмал еимҵәаны ага ра иаҿу аԥсымҭәқәа рзоуп. Урҭ, егьызмамкәа, егьзых-ӡымкәа иаанхаз ауаа, аҳәынҭқарра аҟынтәи ак-гьы шәақәымгәыӷын, ишәҭаху шәҳәала, ишәҭаху ҟашәҵала ҳәа рарҳәеит, аӷәцәҳәы ианықәдыртәа.

– Гәдиса, иуҳәо иашоуп, – ҳәа абыжьқәа уажәы-уажәы ирылыҩуан.

– Ҳколнхара иамаз амал абаҟоу, ҳаӷацәа ҳалӡааны ианцоз иргама?

– Саԥхьа рахә уоуеит, Гәдиса, абри сгәы иҭыхоижьҭеи иҵӡозеи, аха аҳәарҭа ҳамамызт, ҳаизар ҟаломызт. – Зуаҩыбжара иахысхьаз

Page 221: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

221

уаҩ аԥшьык ибжьы ҵрыхәҵәаӡа, Гәдиса иажәа ахьԥиҵәоз азы аҭамзаара шьҭаҵо, – ҳара иҳамаз еиԥш ақыҭанхамҩатә техника змадаз, зегь еиқәшәаны аус руан. Уи ашьҭахь иныҵаба ице-ит. Зегьы ишәымдыруеи, асааҭ еиԥш еиқәшәшәа аус руан, ақыҭанхамҩатә техника зыԥсаз здыруаз дахьынӡахагылаз. Аа, ихаҭа дааны дахьҳалагылоу, – Алиас иахь рызегьы нарԥшуа, – уи дахьынӡаҟамыз ақыҭа зегьы ианыԥшит. Аибашьра ашьҭахь игәы бзи-аны дҳамазҭгьы, иахьа ҳшыҟоу ҳҟаломызт, аӷәцәҳәы ҳақәиртәомызт.

– Ус ауп, ус ауп, – Гәдиса иажәа ацҵара дала-геит, ахаҵаԥшьы игәы иҵхоз аниаҳа ашьҭахь. – Алиас дахьынӡаҟамыз аамҭа рхы иадырхәеит џьоукы. Изларҳәо ала (уи сара сыла иамбеит аха), ақыҭанхамҩа иатәыз атехника Егры нырцәаа, «ҳауацәа бзиахәқәа» ираадырхәеит.

– Уара иуҳәо иашоуп, иахьа ҳазлацәаӷәо, ҳаз-лалаҵо, ҳазларашәо ҳамаӡамкәа ҳаанхеит. Атрак-тор аҟынтәи ацәмаахь ҳаиасит. Ҳнапхгаҩцәа «ҳрааӡеит»... ус дара рхы рааӡааит! – ахаҵаԥшь иҽизнымкылакәа, еиҭах Гәдиса иажәа днаԥыҩлеит.

– Ацәмаҭәахь ҳаиасит уҳәоу? Ацәмаҭәа аха-ла ицәаӷәома? Иҵаҳкуазеи? Ацә змамыз иарбагь ҵакра игон ҳәа ззырҳәоз ҳиеиԥшхеит. Ҳқыҭа зе-гьы уалсыргьы цәык змоу, шамахамзар, аӡә дуба-шам. Ихәҵыртланы, ауӷә ақәхны, аԥсы асыршьо-ит ҳәа ианаауушьҭ нахыс, уаҳа иубараны иҟаӡам, аҵыхәа кны уашьҭамзар. Иаразнак иааимҵарсны аӷьычцәа иргоит. Аума ззырҳәо ҟаланы иҟоуп ҳқыҭаҿы. Аибашьра ашьҭахь бжеиҳараҩык анхацәа рымхқәа рзыламҵаӡакәа иаанхоит. Зҿы ҳашшуада? – ахаҵаԥшь иааимидеит акыр зықәрахь инеихьаз аӡәы, ибӷа хәаны, илабашьа нарсны, ихҭарԥа ааи-хыхны даагылан.

Page 222: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

222

– Аҽқәа ртәы ухашҭыма? Ацәқәа ртәы ауп иуҳәо. Алиас дад, уара иуаҳарц сҭахуп, цәыда ҳанықәха, ҳаҽқәа ҵакны ацәаӷәара ҳалагеит. Аӷьычцәа ҳацәқәа ианрылга, ҳаҽқәа рахь ииасит. Иаахәлеит, ашахақәа рымӷаҵаны аӷьычцәа аҽқәа ирышьҭалоит. Ирбе-ит, иркит, ирыманы ицаны, Ԥсоу аҳәаа иахганы, Адлертәи аҽтәы колбасҟаҵарҭатә фабрика иаа дыр-хәоит.

– Акәтыҵәҟьа аҳәаа иахугар руӡом. Аҽ дуӡӡа ахга-шьас иарҭозеи? – ихараны игылаз аӡәы ибжьы рду-ны, зегьы ираҳаратәы ҿааиҭит.

– Уи ауп исҳәарц исҭаху. Аӷьычцәа рызегьы аԥаршеи шәыҟәқәа, амҳәыр раарханы рџьыба иҭоуп, дара рхатәы ҽқәа ракәушәа. Ирызҭо дтәаны дыԥшуп схәы анбааргои ҳәа.

Абас аниҳәа, еибарччеит иажәа ахьцоз здыруаз.– Ари иахьа иидыруаз аблеҭ иқәшәеит, иажәа

нҵәа раны дыҟаӡам, – иҳәеит аӡәы рацәак игәамԥхакәа.

– Абри абӷа џьыҟә дызтәу ҳәа аӡәыр шәыҟазар даанышәкыл, акәымзар ҳара деиқәаҳкуеит, – рҳәан, иҵыҩрит Баҭаҟәа иқәԥаҩцәа, иаб иашьа иԥацәа ҩыџьа, ацәаӷьқәа реиԥш, рылақәа нарҳәы-аарҳәуа, рыԥшра мацара иуанаҳәон изакәқәаз. Алабашьа зҵаргәаны игылаз, иқәрагьы, агәхьаа мкӡакәа, аҽа ажәак ациҵар ишынеигәыдлара рыҽхыршан игы-лан. Рхы шымҩаԥыргоз збоз аӡәгьы ажәак рымеим-кит. Зегьы ирдыруан урҭ орхьи змаҳауаз, аӷьатама хжәацәа шракәыз...

Баҭаҟәа ҳара ҳтәы иоуп ҳәа, аӡәы цәгьакы ааизиҳәар ихы хаҳсоит ҳәа ишьҭалон. Анцәа иџьшьаны, аӡәгьы ихы рылеимгалацызт. Баҭаҟәагьы, сара стәқәа роуп ҳәа, имаҟахы иадҳәаланы, қәԥаҩцәас иҟаҵаны иман.

Аизараҿы ианааз нахыс ҿымҭӡакәа игылан. Баҭаҟәа иазыҟаҵаны иман, иара изы ихәарҭам аӡәы

Page 223: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

223

акы иҳәо далагаанӡа рҿы аӡы ҭаҭәаны игылазарц.... Сара исҳәаанӡа ҳәа ибжьаны иман «ицәаӷьқәа». Аха уажәы зынӡа иахьрыхьуазҵәҟьа ианақәиршәа, абӷахәа дыҵнарҟьеит. Урҭ рыхьӡқәеи рыжәлақәеи имҳәеит, аха дара ишрызкыз рымдыруази. Аҽқәа ӷьычны, Ԥсоу аҳәаа иахганы иганы Адлертәи аколбасҟаҵарҭа иаазырхәоз дара ракәымзи. Рхатә ҽқәа ракәушәа ашәҟәы знапы аҵаҩны, зымҳәыр аарханы ирызҭоз Баҭаҟәа иакәын. Схәы анбаар-гои ҳәа ирзыԥшызгьы иара иакәымзи. Ишаму-аз ибон. Ацәгьамыцәгьақәа иааҟаиҵахьоу зегьы рхәыҵырттара иалагар ҳәа акәын изышьҭымхуаз. Абгаду акәтрыбгақәа кәытӷьычра ишьҭны, иара ахаԥыцқәа хуа итәаны исзааргозеи ҳәа иԥшын зҳәаз, аухаҵәҟьа ақәԥацәа деимыжәжәа дыдиргон.

Алиас иакәын зегь раҵкыс дзыцәшәоз аханатә аахыс. Аха, иҭынха ду амаҵура ду анирҭа нахыс, Алиас иакәым, аибашьцәа зегьы иҿагыларгьы аӡәы сицәшәоит ҳәа дыҟамызт. Аха ишырҳәо еиԥш, акәапеи есқьынгьы аӡы аанагом. Игәыӷырҭа ду еизиҳәҳәаз жәлар рмал иԥырхагахеит, ишьапқәа иҵнахит, инапқәа имнахит. Изшьапык икабинет иҩнагылоуп макьана, егьи ишьапы иҵҟьан адәахьы ицахьеит ҳәа аниаҳа, амца икын, абылра даҿын, ҿиҭуа дыҟазма.

– Шәанаџьалбеит, аҽқәа рӷьычра атәы ауп ишә ҳәо, ауаа рӷьычра ишалагаз зышәымҳәозеи? Уи аҵкыс еицәоу иҟалараны иҟоузеи? Дабаҟоу ҳашкол адирек-тор? Ҳхәыҷқәа рааӡара иаҿыз, аибашьра аԥхьатәи амшқәа инадыркны хацәнымырха аӷа иҿагылан иқәԥоз, ифырхаҵареи игәымшәареи рзы Леон иорден занаршьахьаз, дыҟаӡамызшәа дныбжьахәаша дце-ит. Дзыхдырҟьаз здыруа шәрацәаҩуп. Араион аҟны арҵаҩцәа реизараҿы ажәа анирҭа абас иҳәеит: «Аи-башьра хлымӡаах анаҳхаага ашьҭахь, ажәлар агәыӷра

Page 224: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

224

ду рыман ҳаԥсҭазаара еиӷьхоит ҳәа. Ҳаԥсадгьыл аӡәы ҳахибаауа ҳҟалом, ҳазегь ҳаидгыланы аҭынчра нхамҩа ҳанылоит ҳәа. Аха, изеицәааӡарызеи, ҳазну амҩа ҳахькылнаго ҳаздырӡом. Ҳаншәырха ҳәа ажәлар зыгәра ганы знапы ианырҵаз еиҳараҩык ҳандырхарц иаҿу, ҳахдырҵәарц иаҿу узеилкаауам. Ачынуаа рызхара ҟамлеит, ажәлар рмал иаханы ага-ра иаҿуп. Аҽа мҩак ԥшааны ҳақәымлар, ԥхьаҟагьы ҳзымцо шьҭахьҟагьы ҳзымцо, ҳаанхар алшоит.

Ииҳәаз џьоукы иргәамԥхеит, рхы иалнарҟьеит. Иаразнак длаԥшықәырҵеит. Иқәгылара ашьҭахь мызкгьы аамҵыкәа, иусура мшы анынҵәа, ашкол аҟынтәи иҩныҟа дышцоз (аккара дылсны акәын есымша дышныҟәоз), џьоукы данаауа ҳәа рыҽӡаны изыԥшызаарын, абна иаалҟьан, дҳәынҷан дыргарц иқәыркит. Аха иҽримҭарц даламгакәа дыҟам, мчы-ла дшыргаз злардырыз, дахьыркыз аҭыԥаҿы ашьа рацәаны икаҭәан, хыхьтәи имаҭәа ԥыжәжәаны икаԥсан, изеимаак насҭха ишьҭан. Амч имаз зегь илырхызар акәхап, дыргеит. Уиаахыс шықәсык еиҳаны иҵуеит, ихабар зхабару ыҟаӡамкәа, дныбжьаӡ-дныбжьахәаша дцеит.

Уи инақәырццакны аҽаӡәгьы, аиаша иашьҭаз, «Баҭаҟәа имаҵура дамхымзар ҳқыҭа зынӡа иҵаирбгоит»ҳәа ажьиирҭаҿы аҽеимаақәа ҟаҳҵоит ҳәа инеиз даарыдгылан, абас реиҳәеит, уи иара изхеит, мчыбжьыкгьы днарымгеит. Иаразнак дахьдырхәит. Хәылбыҽхак иҭаацәеи иареи аџьџьаҳәа ишеилатәаз, «аԥшәма, уҟазар, уаабар ҳҭахын», ҳәа игәашә иаадгыланы рыбжьы иқәдыргеит.

«Ара сыҟами, шәааи арахь, аҩныҟа», – иҳәан, иу-аау џьшьаны, агәашә аартны, бзиала шәаабеит ҳәа инапы ааиҵыхны аҿанынеирха, иамҵасны иркын, дааилышьны дрыманы ицарц иалагеит (хҩык ыҟан). Уигьы аԥхьа иргахьаз иеиԥш, дааилышьны, рҩыҵра

Page 225: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

225

дыҵакны ирго иакәӡамызт. Аибашьра зегьы ихига-хьан, изныкымкәагьы дырхәхьан, «исасцәа» бзиарак азы ишымааиз аниба, агәашә иҭамыжьлакәа иара дҭыҵын, шәзышьҭада, ишәҭахузеи ҳәа даарҿагылт. Асабрадақәа рҿаҵаны игылан. Раԥхьа иҿагылаз, инапы шьҭихаанӡа даниҿас, дышьҭҟьан, дца-ны агәараҳәа дкаҳаит, деихасыҟәӡа, аҳәаԥа еиԥш иԥсылаз аӡә иакәын. Егьырҭ аҩыџьа напышьашәала ишимыхәоз анырба, иеихсит. Аԥхьа иқәшәаз ахы дазкамыжьит. Аӡә дышьҭеиҵахьан, аҩбатәигьы ихаӡӷара акыджәара дахьӡеит, уигьы дыхбыкьны дцан, иҩыза диваҳаит. Ахԥатәи, уигьы иқәшәар ҳәа дшәан, итапанча иҭаз зегь ҭаирцәит. Аԥшәма дкаҳаит. Дзымҵысуа дшыҟарҵаз анырба, ҳилгеит, даҳшьит рҳәан, ихыҵны ицеит. Уара иушьуа анцәа дишьуам ҳәа, гәылеи-злеи аӡәыр дыҟазар зегь еи-зан, иԥсы еиқәдырхеит. Дымԥсыкәа даанхеит, аха дуаҩыбжахеит. Асҟатәи хы зықәшәаз иԥсы злаҭаӡоузеи, ишьапы неихганы ашә аҟынӡа дзымне-иуа дыҟоуп иахьагьы.

– Ҳаӷацәа ирылымшеит иҭархара, ҳара ҳтәқәа изыруз жәбоит.

– Ҳара ҳтәқәа ҳәа ззуҳәо зусҭцәада? Иҳалаӡамкәа анцәа иҳалихааит!

– Абри еиԥш агәынхарақәа ҟазҵо рзы азакәан ҳәа егьыҟаӡам.

– Азакәан захьӡу еилыхра амамзароуп. Аза-кәан џьоу кы рзы изакәанны, аҽа џьоукы рзы ианзакәанымха, ажәлар еицҿакны ирыдыркылаз азакәан акәхаӡом. Хатә закәанхоит, уи иҭаххар, аус аируеит, иҭахымхар, ишьҭахь дҩахан иаҵеиҵоит.

– Иахьа ишәылалазеи, уара, ҳабз ҳақәиҭхеит ҳәа аԥша иаашәҿанагалалак зегьы шәҳәома, – иҳәан ибжьы ырцәгьаны, инеимда-ааимдо зыгәҭыхақәа зҳәоз дырҿагылт хаҵа кьаҿк иҽырпаӷьны, ихы ахаан

Page 226: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

226

хәыц ықәымиаацызшәа ицырцыруа иҟаз, изымбац аӡә дыҟазар иирбарц иҭахызшәа, уажәы-уажәы ина-пы нықәшьуа.

– Уара узусҭоугьы аадыруеит, уаҳԥырхагамхакәа уҽаанкыл, иаадыруа зегь ҳаумырҳәан, – рҳәан, иҿы еихыхны ажәак изымҳәо дҟарҵеит. Уи Баҭаҟәа цәгьаҳәаҩыс иалхны имаз дреиуан.

– Ахпаш ииҭаху иҳәалааит, шәиҟәаҵ. Еиҭадырҿыцит инеимда-ааимдо изҿыз аицәа-

жәара.– Азакәан зегьы рзы изакәанзароуп, рыцҳашьарак

аламшәароуп ҳәа ззышәҳәо азакәан бааԥс аныҟаз, шәара шәхаан, Асовет мчра аныҟаз аамҭазы акәын. Уи ԥсит шьҭа, ишәхашәыршҭ. Иахьатәи ҳзакәан еиӷьу ахаангьы ҳажәлар ирмоуӡацт, – хпаш дидгы-лан ацәажәара далагеит, иԥаҵа иҿарчны, илақәа заҵәык рыда ихы-иҿы умбо уаҟа игылаз.

– Иуҳәо иашоуп, дад. Усҟантәи азакәан ԥсит, иаан-ханы иҟазҭгьы иахьа ҳшыҟоу еиԥш ҳҟалаӡомызт. Зе-гьы ҳарҟәаҵит. Нырцәааи аарцәааи асал ҳабжьаҵаны ҳзеиҿамԥшуа ҳҟазҵаз рықәнага иақәыршәамкәа иа-анхарызу. Аишьцәа ҳаилырхырц иаҿуп џьоукы, уи ала ҳахьыӡ шьҭаҳхуеит ҳәа.

– Ақәнага ақәыршәара атәы уаналацәажәо, ашьра, ақәылара, аӷьычра, жәлар рмал аимҵәара уҳәару, цәгьамзар бзиа ҟазымҵац рықәнага изақәыршәамзеи, цәгьарак змуӡац иеиԥш ибаџбаџуа изҳалагылоузеи? Зҿы уашшуада? Абра ҳахьгылоу инаркны зыҟны ҳамнеицда? Усеилыргаҩык икаби-нет аанаҳмыжьит. Зегьынџьара урыдыркылоит. Зе-гьы ирҳәогьы акоуп. Ҳрышьҭоуп, иҳаԥшаауеит, усда ҳтәаӡам, иаанкыланы иҳамоу ыҟоуп. Аха урҭ макьа-на иҳазраргамом, изусҭцәоу ҳазҳәом, аусҭҵаараҿы иаԥырхагамхаразы, ҳәа иоурышьҭуеит инаскьаганы.

Page 227: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

227

– Ҳарҟаҭәоит… Ус рҳәоижьҭеи иҵӡозеи, аӡәыр дыркхьоума, аӡәыр иус ӡбаны дҭаркхьоума? Кәыт-ӷьыч цәақәак ркуеит, нас аума ҟарҵазшәа ирҳәоит, еиҭарҳәоит иааҟәы мҵӡакәа.

– Акәтӷьыч имырхуазеи, лахьԥыракыгас иҟар-ҵоит, ҳгылам, ҳтәам, ҳацәам, аус аауеит ҳәа ауаа рхы ддырбоит. Егьырҭ адуқәа изрылакьысӡом, рлахәылацәа роуп. Џьыбак иҭыҵуа заҟаҩ рџьыба иҭалода. Сара шәсазҵаауазар, ари ҵыхәа ԥҵәашьа амаӡам, ара ҳааины ҳашшит, араион анапхгаҩцәа рҿы ҳцан ҳашшит ҳәа ҳаангылар егьалҵуам. Хыхь ицатәуп, ақыҭагьы араионгьы шаҳхамыҵгылаз рлымҳа аҟынӡа инагатәуп. Нас урҭ ирзыруа жәбап.

– Хыхь ицатәуп уҳәама? Уахь ҳцеит ҳәагьы егьалҵуам, хыхь иаҳхагылоу ахыб «ақәа кылс-уа»иалагеит рҳәеит, хыхь ианкылс аҭӡамцқәа абаара иалагоит...

– Ииҳәо акы ахы ахьцо, аҵыхәа ахьцо ҳәа иаанаго акымзарак ауаҩы изеилкаауам.

– Аԥсыӡ ахала абаара иалагоит ҳәа рҳәо уаҳа-хьоума? Иуаҳахьазар, уи ауп сара исҳәаз иаанаго.

– Иҟалозар, шьҭа иазшәырха, шәара шәымацара шәакә ӡам араҟа игылоу. Ҳаҷкәынцәа аибашьра зхызгаз ирҳәо ҳаҳап.

– Акы еиԥшымкәа сшәыҳәоит, иҟалозар шьҭа шәҽаа нышәкыл. Агәалақәа рацәаны ишәымоуп, зегьы иҳамоуп. Урҭ зегьы ҳҳәоит ҳәа ҳалагар уаҵәынӡа ҳадхалоит. Насгьы, џьоукы-џьоукы ацәа-

жәара ҳақәиҭхеит рҳәан, иахдырҟьацәеит, иҟам-иным аҳәара иалагеит. Еиҭа сшәыҳәоит, абраҟа иазҳархап. Ҳаҷкәынцәа аибашьра ахы инаркны аҵыхәанӡа ашьаарҵәыра илагылан изхызгаз... Аиааира ҳзыргаз... Ҳаиқәзырхаз... Ҳарҭ ашла-цәышлақәа ҳцәажәара азҳархап, дара ажәа раҳҭап. Ҳарзыӡырҩып, ҳқыҭа ахьышьҭрахь архынҳәразы

Page 228: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

228

ргәы иаанаго дҳарҳәап, – иҳәан Ҟанчобеи, иара иҳәашьа, ашла-цәышлақәа ааникылан, – шьҭа шәара ҳашәзыӡырҩуеит, – иҳәан, Алиас икәшаны игылаз днарылаԥшит.

Акы сҳәоит ҳәа аӡәгьы иақәимкит, рызегьы Али-ас иахь аԥшра иалагеит. Ирҭаххеит аԥхьа иара ддырцәажәарц.

– Сара шәысзымԥшын, аԥхьа шәара шәгәаанагара саҳар сҭахуп. Сыҟамызеишьҭеи заҟа ҵуа жәдыруеит. Уи аахыс абзиагьы ҟалахьеит, ацәгьагьы ҟалахьеит. Исзымдыруа рацәоуп. Ҳқыҭа гәакьа, ҳан леиԥш зыкәа ҳҭаршәны ҳзааӡахьаз, ианаҭаххагьы ҳхы нақәҵо иаҳахьчаз, аибашьра ашьҭахь иааныжьны ақалақь ахь шәымцар амуа изыҟалазеи? Изыхҟьазеи? Ахлымӡаах анаҳхаага ашьҭахь иахәҭаӡамзи ҳқыҭа аршәҭыкакаҷра?

– Ҳара ҳқыҭа ҳцәымӷханы акәӡам иааныжьны ацара ҳзаҿу, Алиас. – Изҵаара аҭак аҟаҵара иалаге-ит иҩызцәа аибашьцәа. – Иахьа уара абра ушыҟалоз аадыруан, акәымзар ҳаараны ҳаҟаӡамызт. Ҳааргьы ҳзацәажәодаз. Ажәлар рус аӡәыр дашьҭоума. Аиҳабыра дара рхатә усқәа ирхашәалом.

– Аиҳабыра ирхароузеи, шәықәҵны шәца ҳәа аӡәыр илаба аанкылан дшәышьҭалама? – рҳәан, Баҭаҟәа «ицәаӷьқәа»ааибарбыбит, аха Ҟанчобеи иа-разнак иааиқәикит, шәырԥырхагамхан, ргәаанагара дшәырҳәа, урҭ рышьҭахь шәара ҳәатәы ҳәа акыр шәымазар ишәҳәала, – иҳәеит ибжьы аарҿацаны.

Ҟанчобеи иакәымкәа даҽаӡәы иҳәозҭгьы, уара уоума ҳара ҳазмырцәажәо ҳәа иақәԥарц иалагон, аха ирзымгәаӷьит Ҟанчобеи нап илакра. Зегьы иара ишидгылоз рдыруан. Ҧыҭраамҭак рҽеиқәкны игы-лан, аха, ҳанбанӡаицәшәалари, иара ихаҭа ҳара дҳацәшәо дҟаҳҵап ҳәа иқәԥарц ианналагоз аамҭазы, Алиас ауаа рыжәпара дшалагылаз рбеит. Москвантәи

Page 229: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

229

дшаазгьы рыздырамызт, аизараҿгьы даабоит ҳәа иҟаӡамызт. Уажәааигәа акәын дара ааины иангылаз. Баҭаҟәа изы иакәым зҳәоз деимыжәжәа даагоит ҳәа рҽазыҟаҵаны иҟан.

Алиас данырба, изықәгылаз анышә изыҵамлеит, уаҳа егьрыгымхеит. Аибашьраан амшәқәа реиԥш ицаны ашьха ашьапаҿы аҳаԥы иҭатәан ӡынра дуӡӡак. Алиаси Сафарбеии еилыркаан, аҳаԥы иҭцаны иры-маны иаахьан.

Сафарбеи дҭахахьан. Алиас заҵәык иакәын уи здыруаз. Иҟаҳҵахьоу ажәлар зегьы ишраҳауа ианиҳәа ҳахәда ҳәызба цагәыла иԥиҟеит ҳәа изза-ззаӡа иаанхеит, шьаҟаҵас иадырсызшәа.

– Ак шәҳәар шәҭахын ҳәа сыҟоуп, – иҳәан, Алиас ихы нарықәикит.

– Мап, мап, егьаҳҳәаӡом. Уажәоуп ҳанааиз. Уеиб-ганы уахьааз ҳаигәырӷьеит уанааба, – рҳәеит уаанӡа аббы зыхга ицәажәоз, рыбжьгьы аарла иҭыркаауа, рыбз рыхәлашәазшәа иааҟалеит.

– Ибзиоуп, нас, аизара ашьҭахь ҳаицәажәап, иаҳхаа гақәаз ҳгәалаҳаршәап, – иҳәан Алиас, урҭ даар ҟәаҵны, – ҳашәзыӡырҩуеит, шәара шәажәа нашәыгӡала, – иҳәан, иҩызцәа рышҟа даахьаҳәит.

Баҭаҟәа «ицәаӷьқәа»быҩҩуа иқәԥарц ишгылаз, инкажьны идырхәазшәа, еиҵанарӷәӷәеит «аизара ашьҭахь ҳаицәажәап» , иаҳхаагахьоу ҳгәалаҳаршәап ҳәа Алиас иреиҳәаз. Уинахыс аизара ахьынӡацоз рҿы ааихыхны акы рҳәо ҳәа изыҟамлеит.

– ...Аӡәгьы илаба кыдхны дҳашьҭамлеит ақыҭа шәалҵны шәымцар ҟалом ҳәа. – Ражәа анагӡара иа-лагеит. – Аибашьра ҟамлазҭгьы, уаанӡа ҳшыҟаз еиԥш акәызҭгьы, аӡәымзар-аӡәы акырсырҳауеит ҳәа ақыҭа ааныжьны аҽаџьара дцомызт. Шәиԥхьыӡ згымха-ша аибашьра! Ааха ӷәӷәа ҳнаҭеит уааԥсыралагьы, ҳқыҭанхамҩаҿгьы. Зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз

Page 230: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

230

ҳҩызцәа рҭыԥ харҭәаашьа амаӡам. Ҳаԥсы ахьынӡаҭоу ҳгәалашәараҿы иаанхоит. Аибашьра иаҳнаҭаз аԥхасҭа ахарҭәаара алшон зыԥсы цқьаз ауаа ахада-ра азыруазҭгьы. Аха аԥсымҭәқәа ҳанхамҩа ианаха-гыла, ҳаӷацәа иҳарҭаз аԥхасҭа аҵкыс ҩынтә-хынтә еиҳаны (ҳара ҳтәқәа ҳәа узрызҳәозар), рахәума-шәахәума, итехникоума, малс ақыҭа иамаз зегь ҭиуп. Аибашьцәа зегьы усурҭада ҳаанхеит. Имеибашьқәаз, ҽырчмазаҩ ҟазҵоз, зҽыз ҵәахуаз зегьы цәырҵит, урҭ иаарымԥыхьашәаз иамҵасуеит, ак хәымгаршьом. Арахә рӷьычуеит, ауаа дырҳәуеит. Еибашьуазшәа, рыҩнқәа бзарбзанла аӷацәа иҟәыбаса амца рыцраҵаны ирблызшәа, хыҵакырҭа рымаӡамкәа иаанхазшәа Аҟәа ицоит. Гагра ицоит, атрофеи ҩынқәа ааныркылоит. Ԥыҭҩык, рыжәла ҳамҳәаргьы ижәдыруеит, хәба-хәба ҩынқәа аанкылан ирымоуп, нас ирҭиуеит. Абасҵәҟьа усурада, џьабаада аԥсҭазаара ҿы ахныҟәгашьа ыҟоуп ҳәа ҳагәгьы иаанамгацызт. Алиас, уара ишуды-руа еиԥш, ҳара хныҟәгагас иҳамаз ачаи акәын. Да-ара иаҳзыцәгьахеит капеик иадамхаргьы ҳаҩн қәа ирыҩнамло ианалага, аха ичҳаны ачаиҿыхра асезон анбаауеи ҳәа ҳаԥшын. Егьа ҳгәаҟуазаргьы сезонк аҩнуҵҟа иҿаҳхуаз ачаи иаҭныҵны иҳауаз иҳагқәаз зегьы ханарҭәаауан. Ҳгәыӷуан, ега иҭаацәа рацәа-заргьы ҳшьапы ҳақәмырсӡакәа ҳныҟәнагап ҳәа.

Ҳаргьы напы агҳажьуамызт, ҭаацәарацыԥхьаӡа иҳадкыланы иҳамаз иаҳхатәушәа акәын аус ша-дааулоз. Ианаамҭаз ибжьаҳцәаӷәон, ианаамҭаз иаҳрыцқьон, ихҳарффон, иҵҳарффон, аҽаҩра ду аанашьҭуа иҟаҳҵон.

– Шәцәажәара саԥырхагахоит, саҭамзааит, аха шәчаирҭақәа аӡәыр ишәцәигама, иахьыҟац иҟаӡами? Аҿыхра шәаҟәыҵыма?

– Аӡәгьы имгаӡеит. Абна иагеит. Ачаиҿыхцәа ашәа ҳәо иахьҭаз иахьа абгақәа ууа иҭоуп. Ушьапы нҭаур гылар иааусны урфоит. Уамак ҵӡом, Ҭамшьыгә

Page 231: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

231

ижә ицәыӡын, исыԥшаауеит ҳәа ачаирҭа дҭаланы дышнеиуаз, абгақәа даагәарҭан, аҽнышьыбжьон иа-аисны дырфон, мыркәылатәык ҽыла диасны дыш-цоз иҳәҳәабжь иаҳан, еибагак иакәзаарын, иҭҟьогьы имазаарын, аҟәҟәаҳәа дрылахысуа иҟәимцазҭгьы, – иҳәеит Ҟанчобеи.

– Аҽнышьыбжьон абгақәа дырфарц иалагеит уҳәама? – Алиас иара ихаҭа абгақәа дырфарц иха-гьежьуа ианихагылаз ааигәалашәеит.

Ак реиҳәарц шиҭахыз анырба, зегьы ацәажәара иааҟәыҵны, ишҟа аԥшра иалагеит. Аха Алиас уаҳа егьацымҵакәа иҽааникылт. Иаҳаз шигәамԥхаз аҟара рбаратәы ихы-иҿы ианырбааит. Игәамԥхаз Баҭаҟәеи иареи рыда аҽаӡәы издырамызт. Абгақәа ртәы аҳәара ианалага, ибла иаахгылеит аибашьра-ан иаргьы дзымҵысуа дыхәны абнаҿы дшышьҭаз, Баҭаҟәа дкажьны дышцаз. Уи ашьҭахь абгақәа аа-кылсны дырфарц ишалагаз.

Баҭаҟәагьы абгақәа ртәы аниҳәа, анышә дзыҵамлеит, уаҳа егьигымхеит. Уи ауха абгақәа ибазар саргьы сибеит. Макьана акгьы инирԥшуам, аха аизара анҵәамҭаз иҳәарц игәы иҭазар? Усҟан анышә сагеит ҳәа, дахьыԥшра изымдыруа, ихы агарҭа имоуа, илақәа шаҟь-шаҟьо ауаа ишрылаз Алиаси иареи рылаԥшқәа еиқәшәеит. Баҭаҟәа Али-ас илаԥш хҿоу шәа иаахан, игәы аҭра иҭамгыло дааҟанаҵеит. Аха Алиас уажәраанӡа ихаԥыцқәа зқәырӷәӷәаны иикыз ибз аауишьҭын, абгақәа ро-ума шәыршәаны шәчеирҭақәа шәырҭызцаз, – ҳәа ҿааиҭит дыхәмаруашәа.

Баҭаҟәагьы иԥсны ибзахаз иеиԥш иԥсы аилалеит Алиас абас аниҳәа.

– Абгақәа раҵкыс еицәоуп ҳчаирҭақәа ҳарҭызцаз. – Ачаиҿыхра асезон ааиндаз ҳәа есышықәса

еиԥш, зегьрыла ҳҽазыҟаҵаны ҳшыԥшыз, ҳразҟы

Page 232: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

232

зыӡбо хыхь иҟоу ҳааныркылеит. Иҿышәхуа ачаи абӷьыжә иаҩызахеит, илҵшәадахеит. Аҽа хныҟәгага хкыс, аџьабаа мыцхә адым балакәа зааӡара алшо ахь ииастәуп. Уи акәыкәбаа ауп. Фатәыс иҟоу зегь раҵкыс ауаҩы ихаҳауеит. Акәыкәбааҟаҵарахь шәиас, ииуа рхыԥхьаӡара иазҳаларц шәҭахызар рҳәан, ачаи аҟаҵара ҳаҟәыҵит.

– Ачаи шәаҟәыҵны акәыкәбаахьы шәиасыма? – Алиас, акәыкәбаа атәы рҳәо ианалагалак, зны-зынла ихәмаруаз џьишьон.

– Уи ҳара иаҳчысхәым, ҳҳәан, мап ацәаҳкит, жәытәнатә аахыс чысхәыс иҳамаз аԥши аҟәыди рахь ҳаиасит. Амла ҳҽаҳмыркит, уи аӡәгьы дамгаӡац, аха азхарафарада акгьы дазымхәыцӡо ҳаӷоу даанхаа-ит, доуҳатә культурада, иифо-иижәуа акәӡам ауаҩы деиҳаразкуа, дзырԥшӡо, дзырхәыцуа, адырра изҭо, дӡырызго. Адоуҳатә культура ауп, уи аҿар ааӡоит, еиднакылоит. Иахьа уи ҳара ҳқыҭа иацәыӡны иҟоуп. Аибашьра ҟалаанӡа хәылбыҽханӡа усуран. Уина-хыс ҵхыбжьонынӡа акультура Ахан аусура иала-гон. Аҽны хәлаанӡатәи рааԥсара рханаршҭуан, ргәы арҿыцуан, ашәаҳәара, акәашара, ахәмарра, аччара, алафҳәара, акинофильмқәа еиԥмырҟьаӡакәа дыр-бара, аспектакльқәа, аскетчқәа, ақыҭантәи аҿар рхаԥшьгарала иқәдыргылоз дырбара.

Анацәеи абацәеи рыхшара асцена ианаақәлалак, ргәы еизҳауан.

Акультура Ахан уахгьы-ҽынгьы ашә аар-тын, ашәаҳәа бжьи амузыкабжьи, аԥхьарца абжьи анапеинҟьабжьи ҩныҩуан. Уажәы уахгьы-ҽынгьы ашә ыҵарбаҟа иаркуп.

Иаауртыргьы иубозеи, амузыкатә центр ыҟам, апианино ыҟам. Аҟәардәқәаҵәҟьа цырак аанымхе-ит. Ауарҳалқәа реиуа зеиуоу убома?

Page 233: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

233

– Акы сҳәарц сҭахуп, иҟалозар, саргьы ажәа сышәҭ, – аҵымҵым ихга, аҵарақәа зегьы ҵәит аныр-ҳәа аҷынҷагьы ҷит аҳәеит ҳәа ажәа ишалоу еиԥш, Ҷыӷьыцгьы ибжьы агара иалагеит, аха шәагаала дахькьаҿыз акыраамҭа дырбарҭамызт. Ажәа анирҭа зегьы ихы дирбарц ишьап ԥынҵа дықәгыланы иҽааиҵыхны дҩагылан, иаԥхьа ицәажәоз гәыбӷан рыҭо, абас иҳәеит: – Ҳхан идәылган иргақәаз анеиқәышәыԥхьаӡоз аԥарда атәы зышәым ҳәазеи? Уигьы аакныхны ирыман ицеит. Уи згаз икәыршан даларжааит. Асцена ԥардада иаанхеит. – Зегьы ирмаҳар ҳәа дшәаны, даҵаҳәҳәаны акәын ишиҳәоз. Идәылган иргақәаз зегь раҵкыс аԥарда игәы иалан. Избанзар, ахан «аԥсы анҭаз»Ҷыӷьыц уаҟа аус иуан, ас-цена аартреи аркреи знапы ианыз «имаҵура»убасҟак бзиа ибон, уи еиӷьу аҽакы ыҟоуп ҳәа дыҟамызт.

– Ҷыӷьыц, иуҳәо иашоуп. Угәы каумыжьын. Ҳхан ашә зынӡа имаатӡо иакӡаз џьумшьан. Ашә шаатлак, асценагьы аатуеит. Уаргьы унеины умаҵура унаха-гылоит. Ҳара анцәа дҳамоуп, дҳацхраауеит, иаар-ласны ҳхьышьҭрахь ҳхынҳәуеит, – иҳәан, ивараҿы игылаз аӡәы игәшәамшәа сҳәоит ҳәа далагеит.

– Ушаҟәыҵра наҟ, анцәа дҳацхраауеит ҳәа ҳшьам-хы еиқәыршәны ҳаштәаз ҳала ишабоз ҳаимырҵәеит. Ҳазшаз саргьы сшәыцхраауеит, аха шәаргьы шәнапы шәҟьа ҳәа акәын ишиҳәахьаз. Ианаамҭаз ҳнапы ҳҟьазҭгьы, аԥсым ҭәқәа ирылҳаршомызт иа-хьа аӷәцәҳәы ҳақәыртәара. Арҭ ак иамырҭәуа, азхара ҟамлақәа, иахьа рабашьтәыс иҳақәшәаӡомызт.

Баҭаҟәа Ҷаӷьыц уаҩыс диԥхьаӡозма, аԥсшәа иаҳәара ҵәҟьа иаҭәеишьомызт. Баҭаҟәа иааигәаны ивагылаз, иара итәык, ихы наидкылан, сыла уаҳа даумырбан ани аччиа ӷәаманашәа иҟоу, наҟ дрыл-ганы дга ҳәа иеиҳәеит. Ҷыӷьыц илымҳа аҷытбжьы аҩшәомызт, Баҭаҟәа изиҳәаз иаҳан, ауаа ирылцатәу

Page 234: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

234

сара сакәӡам, уара ухаҭа уоуп, издырқәо зегьы сумырҳәан, иҳәан, ибжьы еиҳагьы ирдуит ауаа шид-гылоз аниба.

Баҭаҟәа ацәҟьара деихсны, ихы иҭҟьаз залым-ҟьакәа ианԥаны, иааны иара иқәшәан длеиӷ рыблаа дагазшәа дааҟанаҵеит Ҷыӷьыц иеиҳәаз. Дахьыҟаз ихашҭын, «ицәаӷьқәа», ихы ибыӷуашәа ҟаҵаны, идирдырит инеины деихаркырц, аха иаразнак Али-ас дааигәалашәан, илақәа дырбаны иааникылт, ицәгьеитәыр ҳәа дшәаны, – Ҷыӷьыц, иудырқәо зе-гьы сҳәоит ҳәа уалагар хәлаанӡагьы узалгом. Уи уаҵәазы иааныжь. Аҷкәынцәа ражәа иахаҳҟьеит. Урҭ иҳарҳәогьы ҳаҳап, иҳәан Алиас, ацәажәара саҟәыҵып ҳәа згәы иҭаӡамыз, имырхьааӡакәа дааҟәихит.

– Аҿар ақыҭа рцәымыӷхеит, икажьны ақалақьқәа рахь ицоит ҳәа ҳаиҳабацәа шәҟынтәи акырынтә иҳаҳахьеит. Ҳқыҭа ҳзааӡаз ҳцәымӷызҭгьы, аибашь-ра ианалага, џьоукы-џьоукы реиԥш аҳаԥы ҳҭаланы ҳҽаҳамҵәахит. Ҽырчмазаҩ ҟаҵаны ҳашьҭамлеит. Ҳабналаны џьара ԥарарҳара ҳамцеит, ҽнак иа-дамхаргьы ҳхы ахаҳамгеит. Иаартны иаҳҳәап, аи-башьра ахьынӡацоз ҳааигәа игыламыз роуп иахьа ҳаԥхьа игылоу. Урҭ зегьы рымоуп, акы иазхьуа ҳәа иҟаӡам. Усурада рхы ныҟәыргоит. Аусура зынӡагьы ирҭахӡам. Аха ҳара усурада аҽакала хныҟәгашьа ҳамаӡам. Аус ахьаауша ҳамаӡам. Иаҳҭахны акәӡам ақыҭа ааныжьны ҳазцо, ҳаԥсҭазаашьа ахьыцәгьахаз азы ауп. Ҳхәыҷқәа аҵара ҳаздмырҵо аҟынӡа ҳнеины ҳаҟоуп, еилаҳәатәуп, еилацатәуп, аҵара ахьырҵо азы аԥара рыхшәаатәуп. Арҵаҩцәа руалафахәы зшәо аҵаҩцәа ранацәеи раба цәеи ҳауп. Иабантәиаагои, ҳқыҭаҿы бжеиҳараҩык рхәыҷқәа ашкол ахь ины-ҟәаӡом. Аҳәыҷтәы баҳча аибашьра ҟалаанӡа иҟаз ахыбраҵәҟьа аанымхеит.

Page 235: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

235

Ахәышәтәырҭаҩны ҳазгылан, дхәыҷума, ддуу-ма, аӡә ак анааилакьакьалак, хәарҭа змам чмазарак акәмызҭгьы, дырхәышәтәуан, ҩыџьа аҳақьымцәа аус руан, ақыҭа зегьы иазхон. Уигьы аақәганы ирге-ит. Уажәы аӡә даачмазаҩхар, Очамчыра дгатәуп.

Анкьа ахшароура аӡәы иаалықәнакыргьы леи-лыргара араҟа ирылшон. Уажәааигәа иҟалаз зды-руа шәрацәаҩуп. Ҳжьиҩы Ҭарашь иҭаца ҵхыб жьон илықәнакын, Очамчыраҟа дгатәхеит. Уар дын лада гашьа ҳзыҟамҵеит, ҳарҭ иеибашьуаз аӡәы за ҵәык-гьы машьына ҳамам, аха егьырҭ рыхьӡ қәа сҳәар сҭахым, рызегьы амашьынақәа рымоуп. Џьоукы рмашьынақәа еиқәшәан, аха, аибашьраан ишыҟар-ҵоз еиԥш, рҽахыргон.

Ҵхыбжьон уардынла дҳаман амҩа ҳақәлеит. Амҩа қәа шыҟоу жәбоит иҭаԥыҽҽны. Ауардын абар-бал нҭасцыԥхьаӡа дшыӷызӷызуаз, лыԥсы Очам-чыранӡа иҳазнамгар ҳәа ҳшәаны ҳашнеиуаз, Аалӡга аԥшаҳәаҿы лхала деилгеит. Ҳара акгьы ҳалмыхәеит. Ауаҩ инапы лмоуит, аха анцәа длыцхраан, деиқәирхеит. Ахаҵарԥыс длыхшеит. Ианизҳалак уабаи ҳәа ианиазҵаалак, Аалӡга аԥшаҳәаҿы сиит иҳәозар акәхап.

Иаахҵәаны иаҳҳәозар, иахьазы аҿар (аҿар ракәым, еиҳабқәоугьы) здыԥшылаша, иаанызкы-лаша ҳәа ҳқыҭаҿы егьаанымхеит. Аусурҭа ыҟамзар, ҳхазы аџьықәреи злааҳрыхуа ақыҭанхамҩатә тех-ника ҳамамзар, ҳнагәҭасны иҳамаз ҳҭиизар, аӡәы ак ааилакьакьар днаган агәырҵәҟьа ахьиларҵаша ҳамамзар. Ахәышәтәырҭаҩны, изаманахәха иҳаз-гылаз, аақәганы иргазар. Ҳхәыҷқәа аҵара ҳазд-мырҵозар, ҳашкол ашәи аԥенџьыри иаҿаз зегьы ааҿы хны иргазар.

– Ҳқыҭа абжеиҳарак аибашьра аанҵәазар аа-хыс лашарада ҳтәоуп. Афымца цәаҳәақәа зқәыз

Page 236: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

236

аихатәышьаҟақәа ааҵыхны ирыманы ицазар. Аӡәык-ҩыџьак аҵара зҵо ахәыҷқәа, анкьа зны ҩарҵәмцала ахәшҭаара иҽҳәартәаны рхәыҷқәа ашәҟәы ианадырԥхьоз аамҭа сгәаладыршәоит. – Ауаа иажәа нарылеиҵеит уаҩ быргык.

– Адгьыл иқәгылаз ацҳатәшьаҟақәа ықәган ир-геит шәҳәеит. Адгьыл иқәгылаз аҿы ҳаанхазҭгьы ҳалаӡарын, аха адгьыл иҵазгьы ыҵыхны иргеите. Уи ауп зынӡа имыждахәханы иаҳзыҟало, аарҩарак аакылсыр. Сара шәара саншәықәлаз аӡаагара сашь-хьан. Ҳара ҳқыҭаҿы зегь раҵкыс гәаҟрас иҟаз аӡыдара акәын. Аарҩарак ааҟалацыԥхьаӡа ҳаӡқәа ҭабон, аӡыржәтәда ҳаанхо заҟантә иҟалахьаз. Усҟан ҳаԥҳалқәа аашьҭыхны, иабадгьылу, ашьха ашьапаҿы ҳцаны жәҩала иаагон. Абар, шьҭа шықәса ҩынҩажәи жәаба ҵуан, ахьхьа-хьхьаҳәа ҩнаҭацыԥхьаӡа ашьха ӡыхь ҳзааиуазижьҭеи. Аибашьра анаанҵәа ҳаӡгьы аанҵәеит, ҳаӷа иаҳзимуит арҭ иаҳзыруз. Аӡаагага атрубақәа ааҵхны иргеит. Сара сшамкәа сызшаз, дарбанзаалакгьы, абри еиԥш ҳзызуз изы, аӡы ҳәа дыҳәҳәо, дҿажәкны аԥсра дшаҿу снеихагылааит.

– Ушәи анцәа иҟынӡа инаӡаны дахьирхәааит, – иҳәеит уи иааимидан, зуаҩыбжара иахысхьаз аҽа-ӡәы. – Дад аҷкәынцәа, акы сшәазҵаауеит. Шәара ишәымдыркәа шәҟаларым. Металл Мым ҳәа изышьҭоу иаанагозеи, аихалыхык анышә иҵаза-ргьы иԥшааны, иҵыхны иаман ицоит уи. Саргьы аума сақәнаршәеит. Рацәак ҵӡомызт Метал Мым ҳаанашьҭит ҳәа џьоукы анышә аарҳәыга трак-тор дуӡӡак рыманы иаакылсын, сыҩны аԥхьа ии-асны ицоз агазаагага атруба дуӡӡақәа, аибашьра ҟалаанӡа ижны иҵарҵахьаз, иаахагылан, анышә зе-гьы аарҳәны, сыҩныҟа сзымнеиуа, сгәашә инадыжь-лан, атрубақәа ааҵыхны ирыманы ицеит. Иҟашәҵо закәызеи, аԥсабаратә газ ҳзаауа иҟарҵарц акәын,

Page 237: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

237

иҵыхны иабажәгои ҳәа санаарыдгыла, хыхьынтәи адҵа ҳамоуп рҳәеит.

– Лашара рымбааит уи еиԥш уазҳәаз. Металл Мымаа ҳәа узҿу аанкыламзар, ижәдыруазааит, аҽагаҵәҟьа злаҳхуа аихаҷамаҷак аанхараны ишы-ҟам, – иҳәеит, ак злихуа ҳәа имаӡамкәа, зжьирҭа ашә аркны иаанзыжьыз, 32 шықәса инеиԥынкыланы ижьиуаз Мысҭафа.

– Иабаргои, изырҭахузеи абасҟак аихаӡа еизырго? – ҳәа аӡәы ибжьы аарылаҩит.

Ԥыҭраамҭак аӡәгьы ақәҿиҭуамызт.– Иабарго умбои, аибашьра ашьҭахь ҳчаифабрика

зҭииз аҿыц ҳаздыргыларц ауп, – иҳәеит Алиас ицәыхарамкәа игылаз аӡәы, цасҳәа ишиҳәаз ихы-иҿы ианыԥшуан.

Баҭаҟәа уи ииҳәаз ихы ашыгәра иалнарҟьеит... Ҳфаб рика зҭиида ҳәа аҽаӡә дҩагыланы азҵаара ииҭар ҳәа дшәаны, дышьхныԥсылан дгылан. Ицәажәоз ишҟа ак дыршәыцыԥхьаӡа илақәа кылырҳәҳәаны Алиас иахь аԥшра далагон, ихы-иҿы акы сзаныхуа-зар ҳәа.

Афабрика акәын зегь раҵкыс ҭаха изымҭоз. Уи иб-зиан идыруан ачаифабрика ҿыц ақыҭаҿы аргылара ианалагаз инаркны, иҟаҵаны иаалгаанӡа, Алиас заҟа иџьабаа адиҵахьаз (Усҟан уи аколнхара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс даныҟаз акәын). Аҳәаанырцә дцаны ачаиҟаҵага агрегатқәа ааигахьан.

Илақәа ҟәысҟәысуа, дцәыҵыԥшны дизыԥшуан, аха Алиас зынӡа акгьы инирԥшӡомызт, имаҳаӡазшәа акәын дышгылаз. Баҭаҟәагьы иԥсы ааивигеит.

– Уара алаф сҳәоит ҳәа уаҿуп. Заманалаҵәҟьа уаргьы иудыруеит, саргьы издыруеит акгьы шала-ҟарымҵо, сара сзызҵааз, абасҟак аихаӡа еизыргаз, иахьагьы зеизгара иаҿу, Мым ҳәа шәзышьҭоу иаба-гои ҳәа ауп.

Page 238: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

238

– Иахьырго аиаша уаҳарц уҭахума? Егры ирган «ҳауацәа» раархәара иаҿуп, –иҳәеит иааҭырҟьаны, аԥхьа цас ицәажәозшәа зхы дзырбоз.

Уигьы Баҭаҟәа ихы «аҟәаҩ аақәнаргеит», аиха-ӡеиԥш ихьамҭаӡа. Аихаӡа иашьҭалан иаауаз аԥхьа зыҟны инеиуаз ақыҭа аиҳабы иакәын. Баҭаҟәа иара ихатәушәа дрылаӡан ирааирхәон... Аихаӡа атәы анцәырырга, аҳаҷаҳәа иааигәалашәеит, уақәиҭызтәыда аҭира ҳәа Ҟанчобеи дшиҿагылахьаз. Аиҳабыра сақәиҭыртәит иҳәеит. Усҟан аӡәы дицәшәо дыҟазма, ибӷа аиха аҵкысгьы иӷәӷәан. – Иаҭныҵуа аԥара абацои? Иҳауҳәар зуҭахымзеи? – иҽирӷәӷәеит Ҟанчобеи.

– Уара утәала уи иаҭныҵуа аԥара ахьырышьҭуа уареи сареи иҳазҵааларыма? Аиҳабыра иҟарҵо дара ирдыруеит. Аихаӡа баша анышә иафар аҵкыс еизга-ны иҭитәуп, иаҭныҵуа аибашьра ашьҭахь аҿыцнхара ҳазлагаз иаҳархәоит ҳәа ақәҵара рыдыркылт, – ҳәа Баҭаҟәа ишькылкыҩцәа иреиуаз аӡәы, иҟыԥсцәа ргылан Ҟанчобеи диҿагылан, димырцәажәеит.

– Аихаӡа анышә иазымфеит. Изфаз абра дҳала-гылоуп, – иҳәан Ҟанчобеи, инапы ҟьаны дцеит.

«Усҟан Ҟанчобеи иалкааны сыхьӡ имҳәеит, аха иахьа иҳәар ишԥаҟасҵои?» – ҳәа ихы агарҭа имоуа дгылан.

– Знык исҳәахьеит, еиҭашәасҳәоит, шьҭа иазҳар-хап. Заҟаҩы заҟа рфаз, заҟа ргаз ҳәа инеиҭаҳәа-ааиҭаҳәо, ҵыхәаԥҵәарак амаӡамкәа ҳазҿу. Уи ҳааҟәыҵны, ҳаԥхьаҟа ҳшыҟалаша, ҳқыҭа шәеиқә-ҳархаша атәы ҳалацәажәап, – иҳәеит Алиас. Баҭаҟәа иқәлашьцаны дышгылаз, Алиас ииҳәаз иқәлашазшәа дааҟанаҵеит.

– Иуҳәаз иашоуп Алиас, ҳаԥхьаҟа ишьҭоу ауп ҳазлацәажәаша, – ҳәа ҿааиҭит уажәраанӡа зҿы ааи-хыхны ажәак зымҳәацыз Баҭаҟәа.

Page 239: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

239

– Сара иахьа ҳқыҭа аҭацәра ишаҿу агәра згеит. Ауаа аныҟамла ақыҭа закәхозеи? Ибнакуеит. Ҳаба-цәа, ҳабдуцәа ишырҳәоз ҳгәалаҳаршәап. «Ақыҭаҿы ауп аԥсуара ахьиуа, иахьыԥсуа ақалақь аҿы ауп», – рҳәон урҭ. Ҳара ҳмилаҭ адунеи ахьынӡанаӡааӡо аҽа милаҭк иалаҩашьом. Уи ауп ҳаиқәырханы ҳаазго жәытәнатә аахыс. Абри абас шакәу, ада аҽа мҩак шамам аадыруазароуп, – иҳәеит Ҟанчобеи, Алиас ииҳәаз дадгыланы.

– Ҟанчобеи, уххь згеит, ақалақь аҿы аума, ҳара ақыҭаҿгьы ҳала ишабо аԥсуара ҳцәыӡуа ҳалагахьеит. Анкьа иаабахьаз абаҟоу. Уахгьы-ҽынгьы асас изы аҩны ашәқәа аатын. Асас анцәа иеиԥш игәырӷьаны иԥылон аԥшәмацәа. Уажәы ианаахәла нахыс, аӡәы агәашә дадгыланы, аԥшәма, уҟоума ҳәа ҿиҭыр, заҵа ддәылҵны диԥымлара, аҩны аҩнуҵҟала ашәқәа аиркуеит, избан акәзар, изаауа дишьуоу дирҳәуоу издырам.

Уара иуҳәо иашоуп, Аҳмеҭ, сынтәатәи ашықәс ҳанҭа лазар аахыс заҟаҩы ирықәланы идырҳәхьада. Араса мацара заҟаҩ ахыршьаахьада. Ауаа шәаны арасаҟәшәара иаҟәыҵит, уиакзаҵәык акәын ак зыҭнырхуа ҳәа ирымаз. Иадыԥсылаха иҟәшәаны, иа-аганы рыҩны ианааҩнарҵалак, аухаҵәҟьа иаакылс-ны, ирықәланы, иаарымхны иргоит. Ирысҭом ҳәа уалагар, уахыршьаауеит, ма ҿыцха унышьҭаҵаны, ауанҭа ршны убӷа иақәдыргылоит, иҵәахны иа-хьумоу уҳәаанӡа удыргәаҟуеит. Аусҳәарҭаҿы уне-ины уашшыр егьзлымҵуа усуп. Шәыҩны шәара ишәыхьчароуп. Ҳара ишәзыҳахьчап ҳәа шәыҟоума ҳәа уарҳәоит. Абри еиԥш агәымхара ҟазҵо ибзиаҵәаҟьаны ирдыруеит, аха рнапы «рылалом». Саԥхьа ицәажәоз иҳәан еиԥш, рылахәылацәа роуп, – ҳәа быргк иажәа ҳәаны даалгеит.

Page 240: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

240

– Шәара ҳәа узҿу ҳара иҳаздырам, изусҭцәада? Ҳара иаадыруа аӡә иоуп, урҭ рылахәыла. Иԥсы акы иамырҭәит, зымцахә ыцәаша, – изымычҳакәа ҿааиҭит уаҩ быргыкгьы.

– Исҳәарц исҭахыз сахугеит, аха исымҳәар сгәы иа-уам. Ҭаҳмадак ииҳәо абеиҭаху ҳәа гәыбӷан сышәым-ҭан, сара зегь шәакәӡам изасҳәо, зшьа каҭәа ны ҳаиқәзырхаз ҳаҷкәынцәа шәоуп. Аԥсуа жәлар рхәу-цәа ықәаҳхуеит ҳәа, қәыџьмаҵас иҳақәлаз ақырҭцәа ҳаӷацәа, шәыжәҩахыр ааибыҭан шәырҿагылан, ҳаԥсадгьыл иқәшәцеит, ала ахьдырхәаз ахь игьежь-ны инеираҳа, урҭ ахаан имаауа ажьаӷьырҩага икылышәхит. Ақәыџьмақәа шәыриааизар, арҭ акәытрыбгақәа шәышԥарзымиааи, ауаа шдыргәаҟуа шәымбаӡои. Шәааидгыланы абарҭ ацәаԥҽыгақәа ҳқыҭа иалышәца. Шәара шәаамҷыдрахаз, аибашь-раан еиԥш иахьагьы, ҳаиқәзырхо ҳәа ҳзықәгәыӷуа уаҩ даабаӡом. Рықәнага ақәыршәара зыхәҭоу, ԥхьан аӡәы иҳәан еиԥш, иареи дареи еимадоуп. Еилахәылацәоуп. Ҳазегьы ҳаззыԥшыз, зқәақәра аа-гаша Алиас деибганы дхынҳәит. Уи аӡәзаҵәык иоуп ҳзықәгәӷуа, – аниҳәа Ҟанчобеи, зегь ааигәырӷьеит, рнапы еинырҟьеит. Анапеинҟьара ааникылан, иажәа анагӡара далагеит. – Знык сшәыҳәахьеит, ҩаԥхьа еиҭа сшәыҳәоит, абра иаанаҳкылап. Хьа-ак, гәырҩак, гәынамӡарак змам аӡәгьы шәыҟаӡам, урҭқәа зегьы цәырган иаҳҳәоит ҳәа шәалагар, иахьатәи амш акәым уахатәи аҵхгьы ҳазхом. Аҿар иреиуоу аӡәык-ҩыџьак рыда ргәаанагара даҳмырҳәац. Игылан иаҳзыԥшуп. Урҭ роуп уаҵәтәи амш зтәу. Ирҳәо ҳазыӡырҩып. – Ҟанчобеи аҵыхәтәан ииҳәаз зегьы ақәшаҳаҭхеит.

– ...Ҳаргьы ҳаԥхьа ицәажәаз ҳҩызцәа ирҳәаз ауп иаҳҳәо. Ҳашьҭрақәлашәа иҟалозаргьы, ҳқыҭа гәакьа кажьны ақалақь ахь ацара аӡәгьы иаҳҭахӡам. Аха иа-

Page 241: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

241

хьа ҳқыҭа аҭагылазаашьа злаҟоу ала, аҿар аанкыла-шьа рымаӡам.

Ҳабацәа, ҳабдуцәа ишырҳәо еиԥш, аҟәыди абысҭеи ыҟанаҵы аԥсыуак амла дамгаӡацт. Ус акәзар ҟаларын, аха усҟан аҽаамҭан, иахьа азхарафа-ра мацара азхаӡом, ауаҩы дгәылҭәааны иааӡаразы. Адунеи алахтра ду иҟоу, далазырхәуа адоуҳатә куль-тура ауп. Уи ауп ауаҩы дзааӡо, дзыхьчо, дӡырызго, дзырԥшӡо, амҩа ду ахь дкылызго.

Аҿар рцәа шуеит, ржьы шуеит. Еиқәшәаларц рҭахуп. Алахҿыхра рҭахуп. Зегьы ахьымҩасуаз, зегь ахьеизоз, аҿар еибаргәырӷьо аамҭа ахьырхыр-гоз акультура Ахан ашә ыҵашьыхаа иакуп. Ампыл асырҭа астадион, аҿар еиндаҭлан ампыл иахьасу-аз, анкьа ари адгьыл сабацәа ртәы акәын ҳәа аӡәы (зегьы ижәдыруа иоуп) иҭахкааны кырпыжәҭрас иҟаҵаны имоуп.

Аибашьра аанҵәазар аахыс ҳқыҭа абжеиҳарак (адуқәа ҳарҟәаҵып) ахәыҷқәа икиноума, ижурналу-ма, иконцертума, акгьы рымбаӡацт, афымцалашара ахьыҟам иахҟьаны, ателевизорқәа, ашәындыҟәрақәа реиԥш иаркны иқәгылоуп.

Иахьа ас ҳаҟазаргьы, уаҵәы ҳашԥеиӷьымхари ҳәа ҳгәы злаҳарӷәӷәаша егьаабом макьаназы.

– ...Иахьа абра иқәгылан ицәажәаз ирҳәаз зегьы иашоуп. Иҳагыз зегьы шәҳәеит, зыԥсадагьыл зхы ақәы зҵаз ҳаҷкәынцәа ахьамадоу (аӡәык, ҩыџьак ртәы аамҷыдарахаз) убар, угәы унархьуеит. Абаҟақәа ртәы ҳҳәарым, рнышәынҭрақәа убар, жәпаџьара ҟәынџьла иҟаҵоуп. Рҭаацәа уаҳа алшара рымам.

Сафарбеи дахьжу иавсны ауп ишцо аиҳабгьы аиҵыбгьы. Иаб илшом, агәырҩа даражәит, икасы-жьуам, аҵыр гәақәа рыҵасыргылоит ҳәа дыбӷарҳәҳәо дахьаҿу аӡәгьы ирбаӡом. Ари зегьы ҳзын иԥсроуп.

Page 242: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

242

Аҟәарашаа зегь раԥхьа Аԥсны Афырхаҵа ҳәа кашәара зқәым ахьӡ аиура зҽаԥсазтәыз ибаҟа ақыҭа зегьы иахьаҳзеиԥшу ҳусҳәарҭа ашҭаҿы иргылатә-ӡамзи? – Алиас ишԥеиҭахыз иара иаԥхьа абри еиԥш азҵаара егьырҭ иҩызцәа иқәдыргыларц. – Сҩызцәа, сшәыкәыхшоуп, шәысзымгәаан, аха сгәы иауам ишәасымҳәар, аҳәынҭ қарра иҟанаҵар акәын ас еиԥш агәымшәара аазыр ԥшыз ибаҟа, аха иҟамлеит, иаҳҭаху зегь ҟалома, аԥхьа дара рхазы, рыԥсазы ирҭаху ҟалар ами, шәара еиҭашәасҳәоит, шәгәы иалышәмырсын, аха ишәыхьзеи? Капеи-капеила ауаа шәрылаланы еизыжәгозаргьы, Сафарбеи ихәҭоу абаҟа изшәыргылар акәын.

Ҟанчобеи, уара аҵыс ашьапы ахьыԥҵәоу здыруа уоуп. Ҳара ҳқыҭаҿы иааҟало зегьы убоит, иуаҳауеит, узқәыӡбо аҷкәынцәа иахьа акы злырхуа ҳәа егьрымаӡам. Егьызмам, егьрылшом. Сафарбеи ибаҟа аҟаҵара зыхәҭоу аҳәынҭқарра ауп, аха излаҟарҵо аҟәрышь рымам, ирымоу рхазы, рыԥсазы ирымоуп.

– Ҳқыҭаҿы ус ами, «изҿыԥшуа роуит», анцәа ириҭеит. Урҭ иҟарҵо ауп арҭгьы иҟарҵо. Сафар-беи инышәынҭра рымбаӡазшәа ҟаҵаны иавсны ицо ҳқыҭа еимызҵәаз, амал иамаз згаз роуп. Акрыз-маз иабгьы иԥсхәы иуит, иабдугьы иԥсхәы иуит ҳәа шырҳәо еиԥш, рабацәа, рабдуцәа рыԥсы анҭаз ирым-бацыз, абаҟа дуқәа рхадыргылеит, – иҳәеит ҩ-лабак зыҽрынҵаны игылаз, 67 шықәса шихыҵуазгьы, аӷа иҿагыланы иеибашьуаз, зызшьапык ааныжьны ихынҳәыз аинвалид.

– Сафарбеи инышәынҭрахь дхьамԥшӡакәа давсны дцоит ҳәа шәызҿу, дахьыԥшуа сара аӡәызаҵәык соуп издыруа, – иҳәан, еиҭах зегьы дрыҵкәрааны дааны, Алиас дахьибарҭаз даагылт Ҷыӷьыц ихы кәымпылӡа.

– Иудыруа аҳа уҿамшәааит, уара аӷәамана. Уҿы еихакы. Ауаҩы ацәажәара даҿуп, уиԥырхагамхан, –

Page 243: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

243

иҳәан, Баҭаҟәа «иқәԥаҩцәа»иреиуаз аӡәы, Ҷыӷьыц имахцә данкны дрылигарц далагеит.

– Зхы уҿышуа сара дыздыруеит, сааигәара ума-аин, – иҳәан, дҷырпаӷьӡа дааиҿагылт. Сицәшәап ҳәагьы дыҟамызт, Алиас игәы иман. Ҷыӷьыц дхәыҷушәа жәбоит, аха амца дақәуҵар дбылуам. Амцабз ихьӡаанӡа далҵәраа дцоит ҳәа изиҳәахьан аибашьцәа зегьы ишраҳауаз. Ҷыӷьыц Алиас изиҳәаз анигәаламшәоз мышкгьы ҟам ла цызт. Аҳамҭа ииҭазшәа иԥхьаӡон.

– Сара сажәа салгеит. Ҷыӷьыц ииҭаху ишәырҳәа, – иҳәеит аинвалид.

– Уи иибо абаҟа ахьгылоу сара сыда аҽаӡәы издырӡом. Џьара ианаауҳәа усшьуеит ҳәа дсықәмақархьеит. Сара схәыҷушәа убоит, аха сшәаӡом ҳәа иасҳәеит. Сыршәара анаму, сааихәарц далагеит. Сара ирҭиуеи иаархәои среиуаӡам. Сыла-мыс сҟьашьӡом ҳәа иасҳәеит, дыжәдыруазааит уи дызусҭоу... – Ихьӡи ижәлеи аҳәаха имҭакәа, Алиас дааникылт, нас Ҟанчобеии иареи рхы неидыркылан, акы аибыҳәара иалагеит. Рыбжьы дара рыда ауаҩы имаҳауа.

Аизара иалагазар аахыс Баҭаҟәа илҵхьаз аӡы ишьамхаҟынӡа иҩеирц егьагмызт, зны ихьшәашәаӡа иқәнаҭәон, дарҵаауан, аҽазны аӡыршы еиԥш илҵуаз иԥхӡы аҽҽаҳәа иқәнаҭәон, «дабылуан». Уи аҽны ихи-газ иара ида аҽаӡәы дыршьа имаӡамызт.

Аизара аҵыхәахь инеиуа ианалага, аӡәгьы дкыл-кааны «димеихсуашәа»аниба, шьҭа сырцәынхеит иҳәан, иԥхӡы илабеит, ихгьы дҩахеит. Аха Алиа-си Ҟанчобеии рыхқәа еидкыланы акы алацәажәара ишаҿыз аниба, еиҭах ихы наикәаҽит, игәы азҩеит арҭ иара итәы шырҳәоз аҟара. Ани, аӷәамана ҳәа дзышьҭаз Ҷыӷьыцгьы, сцәаԥҽразы дазыҟаҵаны дыз-моу дара роуп ҳәа ихы агәра аиргеит. Сара ишсаҳауа

Page 244: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

244

амни аччиа ауаа рыгәҭаны дысхыччо далагар ис-зыхгом, ма митәык самхаҟаҵоит ҳәа игәы иҭеикын, срылҵны сцоит ҳәа данналагоз аамҭазы, Алиас Ҷыӷьыц ихы наиқәикын, ацәажәаха имҭакәа даани-кылан, иҳауҳәарц иуҭаху уаҵәы ыҟоуп, уаҵәашьҭахь ыҟоуп, аҽазны иҳауҳәоит. Ишубо, аамҭа маҷны иаҳзаанхеит, шьҭа ҳаизара хҳаркәшароуп иҳәан, акәаԥ наиргылт.

Баҭаҟәа иаҳаз азныказы агәра изымгеит, срылҵ-ны сцоит ҳәа дшаҿыз, иҟаиҵара изымдыруа дбалыбаҭо дрылахеит. Алиас сиҭахымызшәа збон. Сгәы сажьозаап, иҳәан, деимырхха дызкыз идашқәа аакәадахан, иҽоужьны даагылт.

– Ҳара шьҭа уаҳа егьаҳҳәом, уара иҳауҳәо ҳаҳарц ҳҭахуп, – рҳәан, аибашьцәа зегьы Алиас иҳәеит, аҽынтәи аизара аихшьаала ҟаиҵарц азы.

– Иахьатәи ҳаиқәшәара зыбзоуроу Ҟанчобеи иоуп. Уи зегь иаҳзеиԥшу, иаҳҭаху иоуп. Ҳқыҭа анхамҩа ашьҭыхраҿы ҳазегь ҳаҵкыс аџьабаа зба-хьоу, аԥсҭазаараҿы аԥышәа ду змоу иоуп. Ҳаизара ахшьаала азиур зегьы ҳзы ихәарҭахоит, – иҳәан, Алиас Ҟанчобеи диҳәеит.

Ҟанчобеи, цәала акәымкәа, гәыла-ԥсыла иара иаԥ хьа Алиас дцәажәарц иҭахын, аха иамуашәа аниба, иҽимырххакәа: – Шәызегьы шәааԥсахьеит, амыцхә саламлакәа, иааркьаҿӡаны ҩбаҟа ажәа шәасҳәоит, – ҳәа дналагеит. – Иҳагу-иҳабзоу зе-гьы ртәы шәалацәажәахьеит. Ииашоуп, иахьатәи ҳқыҭа аҭагылазаашьа иацтәи иузадкылом. Акырӡа шьҭахьҟа ицеит, еицәахеит. Ианбанӡаҳҳәалари аи-башьра ауп изхароу ҳәа. Ҳәарада, аибашьра ааха ӷәӷәа ҳнаҭеит. Ҳҵеицәа заҟаҩы рхы ақәырҵада, ҳашьҭахь иаанхо аԥеиԥш бзиа роуа иҟаҳҵоит ҳәа.

Иара ҳара ҳазҿу нарцәынтәи иааԥшны ирбо-зар, абарҭ роума ҳхы зқәаҳҵаз ҳәа рҳәоит, рыԥсаҭа

Page 245: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

245

ҳарцәгьоит. Адамра хыла иаҳарсуеит. Абри ауп раԥхьа иргыланы изызхәыцтәу. Знымзар-зны урҭ рышҟа ҳамцар ҟаларым. Урҭ џьанаҭ иҟоуп. Анцәа икәа иҭоуп. Ҳамыцқьаразы ҳрыдрымкылакәа џьаҳанымҟа ҳдәықәырҵо ҳҽыҟаҳҵа рым, ҳҽааҳрыцқьап.

Аԥсуара еиԥш ауаҩы дызрыцқьо аҽакы ыҟаӡам. Ҳабацәа, ҳабдуцәа, аԥсуара ныҟәызгоз ракәын ауаац қьақәа ҳәа изышьҭаз. Аԥсуара ицәыӡит ҳәа ззырҳәоз, лак аҟара пату иқәмызт. Аԥсуа амч ду иман. Ашьоураҵәҟьа зыбжьаз, аусӡбарҭа иазымыӡбуаз аԥсуара еилнаргон шьакаҭәарада.

«Уаԥсыуами», иухьзеи ҳәа аниарҳәалак, деиқәԥах дҿанаҳәон, дааннакылон.

«Уаԥсыуами», – ажәак ауп, аха иаҵанакӡозеи, иуанаҳәо заҟа ирацәоузеи. Аԥсуа ламысс иааимоу зегь раҵкыс еиҳау малуп «Аԥсуара»

Шгәы ԥысҵәазаргьы ҟалап, аха сара жәытәи-ҿатәи ирхаану соуп. Избахьоу рацәоуп, аха иахьа ҳааины ҳазҭагылаз аҩыза аамҭа гәкажьга сымба-цызт. Иҟалап ҳәагьы сыҟамызт. Аибашьра ашьҭахь ҳаҿиоит, ҳӷьацоит, акәтаӷь былгьо иҟалоит ҳәа ҳшыԥшыз, ҩба-хԥа шықәса цеит, ҳагьмыҿиеит, ҳагьымӷьацеит. Ҳала шааԥшуаз ҳҿар абжьыс-ра иаҿуп. Ҳала шааԥшуаз аԥсуара ҳцәыӡра иаҿуп. Аӷьычцәа рхыԥхьаӡара азҳара иаҿуп. Анхацәа аӷархара иаҿуп. Ҳашколқәа акра иаҿуп. Еиҳабы-еиҵбы ҳәа апатуқәҵара иҟаз ԥсит. Аҿар ракәзар, рдоуҳатә культура ахьҿиоз акультура Ахан ашә акит, рыбаҩ ахьдырҵәуаз астадион аныҟамла, аҽыбӷаҟазара ахьырҵоз аипподром аныҟамла, ршьа шуеит, ржьы шуеит, рымч агарҭа анырмоу аб-жьысра амҩа иқәлеит. Ари рыцҳарахеит. Аиҟарауаа рацәаҩхеит. Ацәгьаршыҩцәа ҵҩа рымам. Ауаҩы ишьра кәтык ашьра ирзаҩызахеит. Ианыхәла нахыс анхаҩы иҩны ашә аиркуеит. Дшәаны дыздәылҵуам.

Page 246: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

246

Дызшьуа диздыруам, дызхишьаауа издыруам. Абарҭқәа зегьы (урҭ реиԥш заҟа) чымазара ҿкны ҳқыҭа иалалеит. Изласаҳауа ала, ҳара ҳқыҭа маца-ра акәым, егьырҭ ақыҭақәагьы «игьежьуа»ирылоуп рҳәеит.

Ари еиԥш «ачымазара»гәымха, аԥсуара иазымыч-ҳакәа, ақыҭа иалҵны ацара иаҿуп.

Аибашьраангьы, уи ашьҭахьгьы иаҳцәыӡқәоз ча-иума, тракторума, бульдозерума, школума, хыброу-ма, зегь ҳархынҳәыр ҳалшоит, аха аԥсуара ҳцәыӡыр иаҳ зырхынҳәуам.

Ҳаԥсуара ҳархынҳәыр ҳқыҭа ахьышьҭрахь ихын-ҳә уеит.

...Адунеи аҿы ԥсыхәа змам ҳәа егьыҟаӡам аԥсра ада. Ар рхы ҭызго дрымамкәа аиааира рызгом. Уи ус шакәу шәарҭ аибашьцәа шәаҟара издыруа-да. Анхара-анҵыраҿгьы убасҵәҟьа ауп ишыҟоу, ақыҭауаа рхы ҭызго данырмоу, ԥхьаҟа цашьа рымаӡам. Шәгәы ишԥаанагои, сара сиашоума? – Дааҭгылан дрызҵааит Ҟанчобеи.

– Шәара шәиашоуп! – рҳәеит зегьы еицҿакны.– Аҽазныкгьы сшәызҵаауеит. Ҳқыҭа ахьышьҭ ра-

хьы архынҳәразы, аԥхьа нап зырктәузеи? Ҽнак ала зегьы ҳзыҟаҵом. Акакала ҳалагароуп.

– Зегьы раԥхьа нап зырктәу, ҳқыҭа аиҳабы иоуп. Дыԥсахтәуп. Уи ҳқыҭа дахагыланаҵы ԥхьаҟа цашьа ҳамаӡам, – иҳәеит аинвалид ашьапхҵәа.

– Ҳақәшаҳаҭуп, – рҳәеит зегьы.– Ҳныҟәызгарыда ҳәа шәгәы иаанагода?– Алиас, аибашьраан ҳхы ҭызгоз иара иоуп, ҳқыҭа-

гьы ҭигоит, – ҳәа зегьы еицҿакны Алиас ихьӡ рҳәеит.Баҭаҟәа асҵәҟьа дақәгәыӷуамызт.... сара хыхь,

шәара ҵаҟа ҳәа иикақәа џарџаруа дшыҟаз, игәиҽан-ӡамкәа амардуан ааиҵыхны хланҵы дҭарҵазшәа дааҟалеит.

Page 247: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

247

Алиас ажәак ахымҳәааӡакәа дгылан акыраамҭа.Баҭаҟәа еиҳагьы игәы ԥнажәон Алиас иҿымҭра.

«Иҭахымшәа дирбоит, арахь ажәлар азыҟаҵаны изыргылаз иара иоуп. Сара соуп зегь зхароу. Шәымҵаа-шәымԥшаа шәеизызгада ҳәа сана-аиз изықәсымцазеи, амчра зкыз сара сакәын. Акәымзаргьы, шәара шәбунт сҽаласырхәыр сҭахым ҳәа срылҵны сзымцазеи. Сара сыҟамкәа сшамыр-хуаз збарын. Иԥшра сажьеит. Гәалак имаӡамшәа акәын дышсыхәаԥшуаз. Адәахьы ицәырымгаӡакәа ҩнуҵҟала сгәаӷ дыкны дагозаарын. Уи ауха абгақәа уеимырыжәжәазҭгьы сҭынчымхози. Уи агәаӷ ауп ис-хиго. Ақыҭа аиҳабыс даныҟала уахыкгьы саанижьу-ам. Иҩызцәа ианраҳагьы исанарыжьуам.» Дчалтны ишихысуаз идыруан, наҳәырҭа имамкәа, ааҳәырҭа имамкәа игәы цаны дгылан. Иуаҳҳәаз уаҳаит, аҭакс иҳауҳәо ҳазыԥшуп, ҳәа абыжьқәа ана-ара агара иа-лагеит. Баҭаҟәа Алиас ибара аԥсра ахикаауан, аха изымычҳакәа, илақәа цәыҵырҳәҳәаны ишҟа аԥшра далагеит, ииҳәарызеишь ҳәа, игәы аҭра иҭамгыло.

– Исашәҳәаз саҳаит. Агәра шәсыргоит, ҳқыҭа иахьа зы ишьақәҟьаны иҟоу ашьақәыргыларазы, ахьышьҭ рахь архынҳәразы, схы сшамеигӡо.

Дақәшаҳаҭхеит рҳәан, зегьы еигәырӷьаны, рнап-қәа еи нырҟьеит.

– Раԥхьа иҟаҵатәу ҳәа сгәы иаанаго, шәара ишышә ҳәаз еиԥш, ҳар рхы ҭызгаз ҳфырхаҵа, ахаан зыхьӡ кашәара ақәым Сафарбеи ибаҟа абри ашҭаҿы аргылара саргьы сақәшаҳаҭуп, – ҳәа дналагеит Алиас. – Ари имариоу усӡам. Сара амаҵура исыдыжәгалаз азы ҭабуп ҳәа шәасҳәоит, аха сақәшаҳаҭым, избан акәзар сара схаан избахьаз асистема акәӡам, иа-хьа зынӡа аҽакуп. Уи сара сашьцылаанӡа аумаамҭа аҭахуп. Аамҭа ԥшӡом. Уацныҟәозар ауп. Уи иахьазы сара исылшаратәы сыҟам. Акы, сгәабзиара макьа-

Page 248: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

248

на иӷәӷәамхацт. Аҩба, аԥышәа сымам. Сара схаан иҟаз акәӡам, иахьа асистема, ԥхьан ишысҳәаз еиԥш, зынӡа аҽакуп. Иахьа дыҟоуп, акрызмоу, акырзылшо, иахьгатәу здыруа, иахьаагатәу здыруа анапхгаҩы. Урҭқәа зегьы ирхысхьоу, изҵахьоу иоуп Баҭаҟәа. Дахьыҟоу иҭыԥ аҿы даанҳажьып. Изышәҳәақәаз зегьы саҳаит, аха гха змам ҳәа дҟамлаӡац. Гхақәак имазаргьы ианаҳажьып, ҳнаивагыланы аус еицаауп.

Баҭаҟәа сеилагазар ҟалап, исаҳауа закәызеи ҳәа агә ра изымго даанхеит.

Баҭаҟәа иеиԥшҵәҟьа аизара зегьы шанхеит. Ажәак аӡә гьы иҿамшәо еиқәышьшьы иаагылт, инеиҿаԥшы-ааи ҿа ԥшуа.

Алиас иакәымкәа аҽаӡәы иҳәазгьы, Баҭаҟәа иҭыԥ аҿы даанҳажьуеит ҳәа, акакеиҳәа иҵаҟьаны дықәрцон.

Аха Алиас ақыҭа заҟа игәы азыбылуази, иуаҩреи, иламыси, ицқьареи, ифырхаҵареи ззымдыруаз, иу-ҳәаз ҳадаҳкылом ҳәа аӡәы иҿыҵымҟьеит.

Аизара ианалга ашьҭахьгьы гәыԥ-гәыԥ еидгыла-ны излацәажәоз Алиас абас шԥаҟаиҵеи, ҳқыҭа зе-гьы цәзырҳәыз, аӷәцәҳәы ҳақәзыртәаз Баҭаҟәа иҭыԥ аҿы даанхааит шԥеиҳәеи ҳәа акәын. Аҵыхәтәанӡа Ҟанчобеи иааикәшаны дыркит, шәара ишәзымдыруа ҟалашьа амаӡам, Алиас Баҭаҟәа дахьихьчаз иаанаго-зеи? Баҭаҟәа ҳқыҭа шыҵаирбгаз шәара шәеиԥш из-дыруада? Уи акәымзи ҳааиқәшәацыԥхьаӡа ишәҳәоз. Уара иҟауҵо иашаӡам ҳәа Алиас изиашәымҳәазеи иахьа ҳәа.

– Шәмыццакын. Алиас иаабац иоуп. Амалахаз-гьы шәгәы иаанамгааит дҳацәхьаҵит, Баҭаҟәа дид-гылеит ҳәа. Уи, шәара шәахьыҟоу иаргьы дыҟоуп. Иахьа ус зыҟаиҵаз, уамашәа ишәымбан. Алиас ҳара иаҳзымдыруа ак идыруазар ҟалоит. Агәра шәсыргоит, уи џьара акы дӡаамԥшылозҭгьы ус

Page 249: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

249

ҟаиҵомызт. Игәы нышәмырхан. Аамҭа иаҳнарбоит зегьы, – ҳәа рыгәшәымшәа ҳәаны иааиқәиртәеит.

Баҭаҟәа уи аҽны ҿыц дизшәа, ирбахьоу иакәӡамкәа, дааҳәит.

Есышьыжьымҭан, ианаамҭаз, минуҭкгьы иҽагмырхакәа, аусурахь аара далагеит.

Алиас иакәызшәа ақыҭа аиҳабы, дизымҵаакәа акы ина пы аиркуамызт.

Аибашьра ашьҭахь аахыс лашарада иаанха-ны иҟаз ақыҭа абжеиҳарак, жәамш рыҩнуҵҟала, ашьаҟақәа арсны, афымца цәаҳәақәа кнаҳаны, лашарак аабараны ҳаҟаӡам ҳәа згәы ԥҵәаны еиқәылашьца итәаз, зынӡа ишақәымӷәыӷӡоз, ала-шара каххаа ианроу, игәырӷьеит. Иаҳзыҟазҵада, ҭынхас иҳазкашәаз дызусҭада ҳәа ада ҳәатәы ры-мамызт акыраамҭа.

– Баҭаҟәа иоуп иҟазҵаз, дашьҭаланы Очамчыра дцеит. Аҟәа дцеит. Иҭаххар иҟаимҵо ҳәа иҟоузеи. Иахьабалак ауаа имоуп, – рҳәон џьоукы.

– Нас, абасҟак аамҭа ҳазиргәаҟуаз, ианаџьалбеит. Лаша рак ҳмырбаӡакәа абраанӡа ҳзааигазеи, – рҳәон аҽаџьоукы.

– Шәанаџьалбеит, џьоук шәышԥаҟоу уҳәаруазеи, абзиара анаҳзиугьы ишәгәаԥхом, – ҳәа идгылозгьы ыҟан.

– Сара агәра сызгом Баҭаҟәа дҳацәнымхоны азы ауп алашара ҳауа ҳзыҟаиҵаз ҳәа. Уи мчым-харак инарҟаҵеит. Ҳааҟәымҵӡакәа ҳхы ахашша-ара ҳаҿымзи. Хыхьынтәи адҵа имоукәа дыҟам, – иҳәеит ашьапызаҵә. Баҭаҟәа иҟаиҵаҵәҟьеит ҳәа агәра рзымго ишыҟаз, мчыбжьык ааҵаанӡа, ақыҭа зегьы иалаҩит, аибашьра нҵәазар аахыс аус змуӡоз рзеиԥш ӡлагара аус ауа иалагеит ҳәа анраҳа. Уи да-ара агәахәара рнаҭеит. Аибашьра аанҵәеит, алуқәа аҵыхны иӷьычны иргеит. Ӡлагарада ианаанха,

Page 250: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

250

ажәытәан еиԥш, анапыла луқәа ԥшааны, иқәыргылан напыла алагара иаҿын.

Алуҟьанта ҳшахоз ҳмахәарқәа ҿыҵит ҳәа Баҭаҟәа иҟны ҳнеины ҳхы ҳанахашшаалак, ишԥашәзызури сара, ҳаӷацәа ақырҭцәа анцоз алуқәагьы аанырмы-жьит, ирыманы ицеит ҳәа ҳаиҳәеит. Аӡлагара аус ауа иахьалагаз еиҳаракгьы гәахәарас изроуз, рыҩны иштәаз агәҿыӷь иагахьаз аиҿцәажәарҭа аҭыԥ роуит. Жәытәнатә аахыс, арадио аныҟамыз, ателехаԥшра аныҟамыз жәабжьыс иааҟалоз зегьы аӡлагараҿы акәын иахьуаҳауаз. Алагатә змазгьы, измамыз-гьы рзеиԥш ӡлагара аусура иалагеит ҳәа анраҳа абыргцәа шьыжьымҭан иҩагылан, рырахәқәа аа-илырганы аӡлагарахь ицон. Еизарак ахь ицозшәа ԥхьаӡаны. Рызхара еицәажәон. Агәырҩа змаз, ргәырҩақәа аамҭала акәзаргьы ирхадыршҭуан. Алафҳәара аҟынӡа ианнеиуазгьы ҟалон. Убри аамҭазы даацәырҵуан Ҷаӷьыц.

Уи алафҳәареи ахьӡыртәреи илан, аха аҵыхәтәан-тәи аамҭазы даҟәыҵны дыҟан. Узаҟәыҵзеи, ҳааур-ччалон ҳәа аниарҳәалак, шәара ишәмаҳахьеи, аԥсаатәқәа зегьы ашәа рҳәоит ардәына ада. Узаҟәыҵзеи ашәаҳәара ҳәа ианазҵаа, ахьшь схы ианықәс издыруаз зегьы сханаршҭит аҳәеит. Саргьы уи ауп исыхьыз, ауарбажә схы иқәсын, издырқәоз зегьы сханаршҭит, иҳәон.

Ауарбажә ҳәа ззиҳәоз зегьы дырдыруан, аччара иа лагон.

Иуцыччо урыцыччала ҳәа шырҳәо еиԥш, Баҭа-ҟәагьы дрыцыччошәа ҟаиҵон, аха игәы ԥнажәон, ахы ақәсра закәу усырбап, уара амри, ухы кәымпыл ухагыламызшәа иухыскәыцәаауеит ҳәа акырынтә иақәикхьан, аха зышәшьыра дыҵагылаз – игәыӷырҭа ду, ачҳара умазароуп... «Акыр зычҳаз акрифеит»ҳәа иҳәо акырынтә иаҳахьан (Аҩыџьагьы акрыфара

Page 251: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

251

акәын рхы иҭаз). Уи анааигәалашәалак, игәаара наихҟьа ицон...

Ажәытә-аҿатә ирхыргахьаз зегьы ргәаладыршәон. Ажәакала, аӡлагара шықәсала, аибашьра ианалагаз аахыс еибамбацыз ауаа еибанарбеит.

– Ҳаӡлагара аус ауа иҟазҵаз ауаа дырныҳәааит, анцәа диныҳәааит, ҳазхара ҳаибаирбеит, – рҳәон.

– Алуқәа ақырҭцәа ықәҵны ианцоз иргеит ҳәа ҳаиҳәахьан. Ирымыхны иааигама, ишԥаҟалеи? – ҳәа џьоукы уамашәа ирбон.

– Аҽа луқәазар ҟалап, акәымзар Қырҭтәыла дца-ны ирымхны аагашьас имаз? – рҳәон аҽаџьоукы.

– Мап, ҳалуқәа уажә иаабама, Алма Ачба дуӡӡа ҳәа изышьҭаз илуқәа рами, – ҳәа аҽаӡә даагылон.

– Аиаша шәҭахызар, ҳалуқәа Қырҭтәылаҟа акәӡам иахьцаз, Кәыдры нырцәҟоуп. Иӷьычны ирымгаӡеит, ираадырхәеит, ираазырхәаз иоуп ирымхны иаазгаз-гьы... – Иҳәеит аӡлагарахьча.

– Шәырҟәаҵ, уара, шьҭа урҭ алуқәа, иахьынтә-ааигазаалакгьы иааигеит, Баҭаҟәа ҳиркьаҭеит. Уи иакәмызҭгьы, ҳаӡлагара лаго иаабараны ҳаҟазма, алуҟьантақәа рыргьежьра напыла ҳаҿызаарын. Ҳаргьы абра ҳаиқәшәо, ҳаибабо ҳзыҟаломызт. Аиаша шәасҳәоит, амиллион иаҳзаԥсоуп. Саԥхьа Џьансыхә ишиҳәаз еиԥш, ҳаибанарбеит, ҳаинарцәажәеит. Аԥсраҿы унеир, уҵәыуан ушаақәҵыз, аӡә иацәа-жәаха урҭома: «Ҳаилаумырхан. Ихымҭәалакәа уз-цом. Аԥшәма игәы иаласуеит, – ҳәа аилыргаҩ уи-ман артәарахьы иҿынеихоит. Мап уҳәар иураны дыҟаӡам. Уқәшьны уигоит. Ачараҿы унеир увараҿы итәоуҵәҟьагьы узиацәажәом. Абыжьқәа еиныҩшьа рымаӡам, иааҟәымҵӡакәа амузыка ҳәҳәоит, узҵатәоу ашьаԥа ахыб ақәхны иагап угәахәуп. Даара зхы «ацәа жәпам»аҩнуҵҟа иҭоу зегьы ҭнаҟьоит.

Page 252: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

252

– Қамс, иуҳәо зегьы иашоуп, аха ҳаӡлагара алуқәа рхала рҭыԥ иахыҵны игәаргәалеиуа аулица ианы-ланы ицоз џьушьома. Изеи цәааӡарызеи, ҳаӡлагара алуқәа аибашьра ашьҭахь изҭиз Баҭаҟәа иоуп. Кәыдры нырцә инхо ерманцәақәак ирааирхәеит.

– Нас, рхала ибналаны арахь иаҳзаама? – иҳәеит аӡәы, иаԥхьа ицәажәоз ииҳәаз рацәаӡак игәамԥхо.

– Изласаҳаз ала, дцан, иршәаны, ирымхны иааи-геит рҳәоит.

– Иӷьычны ирымгазар, иара ирааирхәазар, иршәаны ишԥарымихуаз?

– Уи ибӷа ӷәӷәоуп. Ҳара напыла алуқәа шҳар-гьежьуаз ҳабӷа ԥҵәахьеит. Уи ауп зегь изыҟарҵо. Ҳара ҳнапылуқәа рыргьежьра аҵкыс изымарио-уп Аԥсны зегьы аргьежьра. Баҭаҟәа зыбӷа имоу, Дадаҳ ҳәа изышьҭоу, иҭаххар ҽнак ала абаа иргы-лоит, иҭахымхар, шьыбжьаанӡа ирбгоит. Алуқәа ртәы ауп ишәҳәо. Шәаангыл шьҭа, иҟалозар. Урҭ шәылуқәа раҵкыс жәантә еиҳаны шәзеигәырӷьаша аҽа жәабжьк шәзаазгеит, – иҳәан, даарылагылт иб-жьы гәаҩаӡа, арахь уахьихәаԥшуа, ишырҳәо еиԥш, ҵәык азна акәац иқәӡамкәа хаҵа аукы.

Алуқәа иаарҟәаҵын, ахаҵа ау иаҳзааугазеи жәабжь ҿыцыс ҳәа дыркит.

– Ҳатракторқәа ҩба хынҳәны иааит, иаха ахәылбыҽха, – иҳәеит уи.

– Ииашаны иуҳәама? – алуқәа ртәы иааҟәыҵын, – ажәабажь ссир ҳзааугеит. Уара ухаҭа иубама атракторқәа? Уҳәансҳәанымзааит, – рҳәан, икәшаны иаагылт. Иацҵаны аҳәарақәа зны-зынла ишиласуаз рдыруан азы, иреиҳәаз инагӡаны агәра рзымгеит.

– Сара схаҭа исымбеит, аха зылала избаз исеиҳәеит, аҽада шәзысмырҟаауазар (лафкгьы налаҵо) , атракторқәа ҩба ҳусҳәарҭа ашҭа иҭагы-лоуп, – иҳәеит уи.

Page 253: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

253

– Ацәмаақәа ҳшырхьынҳалаз ҳархаԥсхьан. Ари иҳаиҳәаз иашазар ҳабгьы ԥсхәы иҭахым. Насгьы, иар-бан аамҭоу ианҳауз, ианаҳзааз, – рызегь гәырӷьеит. Шьыжьымҭан аахыс, уаҳа бзиас иҳаҳарызеишь ҳәа итәаз, инабжьырҟьан акы ҳнацҳаны ҳаауеит ҳәа рыҩныҟа ицарц ашҭа иҭыҵхьазгьы, ари еиԥш агәырӷьаҿҳәаша рлымҳа ианҭас, изцоз рыкрыфара ргәалашәо иҟамлеит. Рызхара ыфаны ихынҳәызшәа, ргәы ҭәит атракторқәа рзааит ҳәа анраҳа.

Агәра ргару ирымгару рзымдыруа, рыгәқәа хыҭхыҭуа ишгылаз, аусҳәарҭа аԥхьаҵәҟьа инхо ауаҩ бырг Ҭархәына, ааҵәа хәыҷык азна аџьықәреи зла-гоит ҳәа иманы даарылагылт.

– Абри иоуп аиаша здыруа. Ҳусҳәарҭа аԥхьа дын-хоит, атракторқәа ааганы идыргылаҵәҟьазар мба-шьа имаӡамызт, – рҳәан, иааҵәа хәыҷы дызҵаз аҵыҵыха ҵәҟьагьы ирымҭеит. Идеизаланы изҵааит. Ишәаҳаз иашоуп, иаха ахәылбыҽха ҩ-тракторк ҳзаан, аусҳәарҭа ашҭа иҭагылоуп. Уи еиԥш абзиара ду ҳзызуз ҳаиҳабыра ракәхап. Ныҳәаԥхьыӡ иҟоу зе-гьы рыгымхааит.

– Амин, анцәа иуциҳәааит, – ҳәа зегьы ицдыр ӷы-зит.

Зегьы гәырӷьеит, аганахь игылаз хаҵа аԥшьык ида. Атракторқәа ҳзааргеит ҳәа анырҳәа нахыс, ила-башьа иҵарсны, иа шәиу, шәиу ҳәа ашәышәра да-лагеит. Зегь ирҳәашаз рҳәеит, иара дааҟәымҵӡакәа ашәышәра даҿын.

– Измааноузеи, уара, алаҵгара уцошәа ашәышәра уаҿуп. Атракторқәа ахьҳауз уамеигәырӷьауеи? Аи-башьра ашьҭахь урҭ рымамзаара заҟа ҳаргәаҟхьоу умдыруеи, – рҳәеит, уи ахаҵа ау иҟаиҵоз уамашәа ибаны.

– Ишәҳәо закәызеи, шәеилагама, уи сгәы ишԥа-мыхәеи. Аха сара сеилазго аҽакуп. Аибашьра

Page 254: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

254

ашьҭахь иаҳцәыӡны иҟаз ҳатракторқәа абасҟак аамҭа иабаҟаз? Насгьы, ирхынҳәны иаазгада? Изгаз идырхынҳәырц азы акә ӡа мызт...

– Уи уара иалудыраауазеи? Ианыргоз убама?– Избеит азы ауп изысҳәо. Сыжә сашьҭаланы ҽнак

Кәыдры аԥшаҳәа сшаныз, ҳатракторқәа аҩбагьы рыманы нырцәҟа ираагоит ҳәа ишаҿыз, Наатәқәак ҩыџьа аурымцәа саарыдгылт. Ашарԥазы акәын, аха ҳара ҳатракторқәа шракәыз здырит. Арҭ ҳара ҳтәқәа роуп, иабажәгои ҳәа санаарҿагыла, иацы шәара шәтәқәа ракәын, аха урҭ иахьа ҳара иаҳтәуп рҳәеит. Иҳацәӷьычны ижәгарц шәаҿума ҳәа аҳәҳәара сана-лага (ула шааԥшуаз уандырҳәуаз аамҭа азы акәын), мап, ҳара ишәцәыҳамӷьычӡеит, ахә рхаҳшәааит. Ҳагәра умгозар, уеиҳабыра уразҵаа рҳәан, сыла ишабоз аӡы ирганы иргеит. Сшыҩуаз сцаны аиҳабы иасҳәеит избази исаҳази. Аха зынӡа хьаасгьы иҟаимҵеит. Уара ахҭыԥшша, аӷьыч сӷьычуп ҳәа иҳәо уаҳахьоума. Иаахәаны иаагоит ҳәа уарҳәеит. Уара уҭыԥаҿы агәаҵәа змаз аӡә дрықәшәазҭгьы, рцәа иҭцаны акәын ишрымихуаз ҳәа сара аара сыдиҵарц далагеит.

– Иуеиҳәаз иашаӡам, иара ихаҭа ирааирхәеит, аԥара ду аҭнихит. Ҳара капеикылҵәакгьы ҳаимыр-кит ҳәа сарҳәеит.

Ҳатракторқәа ахьагаз здыруеит, ҳрышьҭалап. Ҳқыҭа аиҳабы ҳаизашшып, ишиҭиз ҳҳәап, Очам-чыра ҳцап, Аҟәа ҳцап. Тракторда нхашьа шҳамам ҳәа аӡәык-ҩыџьак ирасҳәеит, аха мап сцәыркит. Урҭ зусҭцәоу рыхьыӡ сҳәарц сҭахым. Ҳара шшра ҳазцом. Зыҟны ҳашшуада, ҵаҟа инаркны хыхьынӡа зегьы иара итәқәа роуп. Уи адагьы ашшҩы аӡәгьы диҭахӡам иахьа, амал аӷьычра ауп изҿу. Урҭ зегьы еибаҟьашьхьеит. Уаргьы иуаҳҳәо урҳа акәымзар, уаԥхьа аиаша ааҳарԥшуеит ҳәа иалагақәахьаз иры-

Page 255: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

255

хьыз ухьуеит, ахьшь нышьҭасны, ишьҭԥааны иа-газ акәҷышь еиԥш инкылахәаша иӡит, рҳарҭасырҭа уаҩы имбо. Уара нап злоукыз зҩыҵра дыҵакны да-азго зегь зымчу думдыруеи. Иҭаххар ҽнак ала зегь ҭеикуеит. Иааиҭахымхар адырҩаҽны зегь ауижьуе-ит, ҽнак изаауеит, адырҩаҽны ихыԥсаауеит.

– Иуҳәаз ҳаҳаит, ус иҟалама ас иҟалама. Ишыҟла-заалакгьы ҳатракторқәа ҳауит. Ҳаӡлагара амышьҭа бзиоуп. Ҳааицыԥхьаӡа ҳгәы иахәаша ҳанаҳәоит. Иахьатәи ҳаицәажәара аанаҳкылап, аӡлагара аиба-фара иалагаанӡа, рҳәан, – ахәылбыҽха ҟало ианала-га, уаҵәынӡа абзиала ҳәа еибыҳәаны, рыҩнқәа рахь ицеит игәырӷьаҵәа.

Атракторқәа мышкгьы ԥштәыс ирықәымшәеит, зегь раԥхьа аибашьра иҭахаз рҭаацәа рымхқәа рыцәаӷәара иалагеит. Ҳара шьҭа ҳазҭахыда, аӡәыр дҳацхраараны дыҟоума ҳәа ргәы каҳаны ишыҟаз, атракторқәа аакылсын, рымхқәа рыцәаӷәара иана-лага, аԥсҭазаара ргәы ахылеит. Ҳаҷкәынцәа ыҟам, аха рҩызцәа ҳархадмыршҭуазаап, рҳәан.

...Ҳаӡлагараҿы, ҳнеицыԥхьаӡа ҳгәы иахәаша ҳаҳауеит ҳәа есымшаҵәҟьа акәымзаргьы, аха шаа-роулак еиԥш цәажәара ҳәа еизон.

Уи аҽынгьы иахьа жәабжь ҿыцс иҳаҳарызеи ҳәа шьыбжьон еизаны ишыҟаз, ауаҩ аԥшь (уи иакәын еиҳарак ажәабжь ҿыцқәа аазгалоз, иахьа иҿыцу ҳәа егьҳмаҳаит ҳәа еимпны ицарц ишаҿыз), срыхьӡаны исызраҳәандаз ҳәа деиханы дшаауаз мҩашьо, дҳақьԥсықьуа даарыдгылан, даара шәгәы иахәаша ажәабжь шәзаазгеит ҳәа рылеиҳәеит. Иҳәашьа злаҟаз ала, ргәы иахәаша акәым, иргәамԥхашаз ажәабжьк шырзааигаз иажәақәа ирыҵҩуан.

– Ажәабжьс иаҳзааугазеи? Ҳмыргәаҟкәа иҳаҳәа, – рҳәан иааикәшеит.

Page 256: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

256

– Алиас, зегь ҳазхыҽхәоз, зегь ҳзықәгәыӷуаз Баҭа-ҟәа дааихәеит, – иҳәеит уи ахаҵа, даара игәы иаа-лырсны.

– Иҳауҳәо закәызеи, уара? Алиас иуҭиуеи иааухәои дреиуоума. Иабантәиааугеи ари еиԥш ажәабжь ҟьала? Дааины данааҳалагыла нахыс дырҟьашьырц иалагеит, – рҳәан, зегьы рхы иақәырҵеит ираҳаз.

– Баҭаҟәа амал имоуп, уи иааимхәои иимҭиуеи дар-бану. Иахьа ауаа шаархәо ишырҭиуа шәзымдырӡои. Шәара макьанагьы Асовет мчра шәзалымҵӡакәа шәалаханы шәыҟоуп.

– Дышԥааихәеи, уара. Цасҳәа иуҳәома? – рыбжьқәа еиҳа-еиҳа идухо иалагеит.

– Заҟа ҳәа дааихәаз шәасҳәарц шәҭахума? Иа-нышә муӡа ишәасҳәоит. Баҭаҟәа Алиас машьынак ҳәа дааихәеит. Изымҭода, иашҭа азна иҭагылаз днарылаԥшын, иреиӷьыз аалхны ҳамҭас ииҭеит.

– Уи еиԥш ҟалашьа амаӡам. Алиас зегьы ҳа-ш иқә гәыӷуа идыруеит. Ҳазегьы иаара ҳазыԥ-шын. Дхынҳәижьҭеи уамак шымҵуагьы, ҳқыҭа ахи-аҵыхәеи далсны ҳҭагылазаашьа ибахье-ит. Баҭаҟәа аибашьра ашьҭахь ҳқыҭа иазааигаз, аӷәцәҳәы ишықәиртәаз идыруеит. Ара аӡлагараҿы иаҳҳәалакгьы ауеит, аха Алиас Баҭаҟәа машьанак азы дааихәеит ҳәа уҿы иааҭыхны џьара иумҳәароуп.

– Иҿы ашәмыркын, иҟалозар. Уи ак имаҳаӡакәа ихы иҭиҳәаауамызт. Сара уи ииҳәаз агәра згоит. Аи-зара аҽны ҳшеилгаз шәазхәыци? – иҳәан, аҽаӡәы иԥаҵеиқәаҵәақәа ыршаны даарҿагылт. – Алиас абра игылоу зегьы шәаҵкыс сара дысзааигәоуп. Ҳаицеибашьхьеит... ҳаицырхәхьеит. Иаҳхаҳамгац ҳәа иҟоузеи, схы еиԥш игәра згон, аха аизара ашьҭахь, игәра сзымго саанхеит.

– Аҵыхәтәан, аизараҿы ажәа аниаҳҭа ашьҭахь (зегьы агәра ганы ҳаҟан), Баҭаҟәа илымҳа саркьада

Page 257: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

257

ибараҳа ақыҭа аиҳабыра уаҳа ила иабо даанхоит ҳәа ҳаҟамызт. Дахьаанижьыз уаҳа налымшо аҟынӡа зе-гьы иргәамԥхеит. Иаҳгәалаҳаршәап ииҳәаз ажәақәа: «Баҭаҟәа аԥышәа имоуп. Ҳивагыланы аус ицаауп. Иҿаҳҵааша рацәоуп».

– Даҽаӡәы иакәны ус иҳәазҭгьы, ианаҳажьуамызт. Аха Алиас зегь ҳзыҳәан дымчыроуп. Ианаҳачҳаит. Иаҳзиуз чҳаны ҳазегь ҳгәы ишалаз, ажәак иамҳәаӡакәа ҳаимпны ҳцеит. Аизара ашьҭахь еиҳагьы урҭ еизааигәахеит рҳәоит. Есымша еиқәшәоит. Излацәажәо ауаҩы издырам. Дхихит. Саргьы исаҳаит, амашьына ҳамҭас ииҭеит ҳәа.

– Уара ишуҳәо еиԥшҵәҟьа иҟаларым. Алиас иа-адыруа иакәзар, ус иаармарианы Баҭаҟәа инапаҿы дизаагом.

Сара сгәы иаанаго зынӡа аҽакуп. Иҟалап Алиас ҳара иаҳзымдыруа џьара акы идыруазар, Баҭаҟәа еиқәирҽаҽахьоу. Иаҳҳәап, аибашьраан.

– Шәҩыџьагьы сшәықәшаҳаҭуп. Алиас џьара акы дӡааԥшылоит. Уара иуҳәаз, – аԥаҵеиқәаҵәа иахь даахьаҳәын, – «Алиас Баҭаҟәа ихы дҭарԥаны димо-уп... Иахьааиҭаххо дигоит, уахгьы-ҽынгьы еицуп» ҳәа иҳауҳәаз иашам. Зынӡа сақә шаҳаҭым.

– Излазбо ала, сара саҵкыс Алиас шәара дышәҭаху-шәа ауп шәышцәажәо. Сара сзыцәшәо, Алиас аума ихигахьеит, ахәрақәа заҟа имоу жәдыруеит, цқьа дыӷәӷәамхацт. Баҭаҟәа ақәыџьма дирҟьалар алшоит.

– Ҳаԥшып, аамҭа иаҳнарбоит зегьы, – ҳәа ианаа-импуаз аамҭаз, дҳәарсалеиуа даакылҟьеит Ҷыӷьыц, ибз даасуа. Шьҭа уи аӡәы дирцәажәараны дыҟазма, иҿы еихихаанӡа автомат еиԥш апҟҟаҳәа иажәақәа ҭыҟьҟьаны ацара иалагон. Ҿааихак ҟамҵаӡакәа ииҭахыз иҳәар акәын. Амала, бзиарас имаз, ҵабыргымзар, мцык дырны иажәа иалаиршәуамызт.

Page 258: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

258

– Уара уакәын иҳагыз. Ҳцамҭаз уҽаҳхьумыгӡар умуит, ажәабжьс иаҳзааугазеи? – рҳәан, даарыгәҭы-ларкит.

– Алиас даар ҳиркьаҭоит ҳамҳәози. Иаса Қьырса даауеит, ҳаиқәирхоит ҳәа ишизыԥшыз еиԥш, ҳгәаҟуа ҳаргьы Алиас ҳанирхоит ҳәа ҳаизыԥшымзи. Дааит. Иаҳзиузеи? – Абас далагеит: – Башахеит. Ҳгәы ҳажьеит. «Баҭаҟәа аԥышәа ду имоуп иусураҿы. Иҿаҳҵааша рацәоуп. Имаҵура дшахагылоу даанха-аит... ҳивагыланы аус ицаауп», иҳәеит. Ари ашьҭахь ҳзықәгәыӷраны ҳәа иаанхазеи? Зегьы ишыжәдыруа, Баҭаҟәа ԥышәас имоу ажәлар ҳмал аӷьычра ауп. Нас уи иоума бзиарак зҿаҳҵаараны ҳаҟоу. Исымоу зегьы мԥсааит, иахьа сахьыҟаз избаз шәасҳәар шәхаӷахоит (анбан – г – изҳәаӡомызт), ибз еилакьыцәуан. Аиаша шәасҳәап, ианызба схаӷахарц егьаасыгымхеит.

– Уагьхагахандаз, уагьӷахахандаз, уаашьҭԥааны ахагацәа рыҩнахьы уаагон, ҳаргьы ҳааҭынчхон, – рҳәан, ивагы лақәаз алаф илырхуа иалагеит.

Ҷыӷьыц иара ихаҭа длафҳәаҩын азы, иага иарҳәаргьы дгәааӡомызт, аҟара ахаргыланы аҭак риҭон.

– Шәара амш жәгоит. Сара сыхәмарӡом. Баҭаҟәа-гьы Алиасгьы сылала избеит қьаф уа иштәаз Шәқәырча амшын аԥшаҳәаҿы, ҿыц идыргылаз аре-сторан аҿы. – Акалашәа дыҟан аха, ишаҳҳәахьоу еиԥш, амцҳәара издырӡомызт.

– Уабананагеи, уара, уаҟа? – рҳәан, алафҳәара иааҟәыҵын иазҵаара иалагеит...

Аӡлагараҿы уҳәансҳәан аныҟамла алуқәа аиба-фара иалагоит ҳәа баша ирымҳәазаап. Ҷыӷьыц иа-аигаз ажәабжь, Баҭаҟәеи Алиаси «Ақьафурҭаҿы» итәа ны қьаф руан ҳәа, адырҩаҽны хәлаанӡагьы «лага тәыс»ирызхеит.

Page 259: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

259

...«Амҵәыжәҩақәа» аҭаны аӡлагара аҟынтәи идәы қәырҵоз ажәабжьқәа (Баҭаҟәеи Алиаси ирыз-кыз) аҽны ҵәҟьа иԥырны ақыҭа зегьы ирылсуан.

Ҷыӷьыц амц иҳәом ҳәа акәын зегьы дшырдыруаз. Издыруада, аӡәы дижьазар, урҭ қьаф уа аресторан аҟны иштәаз ибазшәа. Ҷыӷьыц иаҳаз агәра иган, ауаа ирылеиҵеит. Алиас уи еиԥш ҟаиҵомызт, ауаа зегьы иахьырбарҭоу, адизертир Баҭаҟәа дидтәаломызт ҳәа иҩызцәа агәра рымгеит. Игәарарҵаз ажәабжь мыц-харц рҭахын. Насгьы, лымҳаҭасқәак змақәаз ыҟан. Аҵыхәтәантәи ажәылараан Алиас ӷәӷәала дыхәны дшыҟаз, далганы дга ҳәа здырҵаз, дымгаӡакәа аӷацәа рыгәҭаны дааныжьны иара иԥсы игеит ҳәа. Аха уи дызусҭаз иахьагьы деилкааӡамкәа да-анханы дыҟоуп. Алиас усҟан аӡә дидыруа акәым, ихы игәалашәо дыҟамызт. Усҟантәи ажәылараан еицқәаз рыбжеиҳараҩык ҭахеит. Алиас аԥсреи аб-зареи дышрыбжьагылаз дааныжьны ицаз дызусҭоу здыруа ҳәа аӡәгьы даанымхеит. Алиас дшырхәыз еиԥш даашьҭыхны тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҟынӡа дрызнагазҭгьы, ҩба-хԥа шықәса дгәаҟуа, аиарҭа дзылымҵуа дылахаӡомызт. Аха ауха шаанӡа цхыра-арак имоуӡакәа, абнаршәыраҿы адгьыл аӡбаа злыж-жы иҟаз данықәха, ибжа илыԥсааит.

Уи ашьҭахь аԥсра иацәынхаз ҳәа акәын ишишьҭаз.«Аибашьра еибашьроуп. Аӡә дырхәуеит,

аҽаӡә дыршьуеит. Уи ада аиааира зыҟалом. Дшәаргәындоуп, дагьшәарҭоуп, ахәра зауз зҩыза далымгаӡакәа, аӷацәа дырзааныжьны зышьҭахьҟа ихынҳәыз». – Ажәыларахь амҩа иқәлацыԥхьаӡа Алиас икоманда зегьы ааиларгыланы абас реиҳәон.

Ауаҩ изыԥшу ицәа иалашәоит ҳәа шырҳәо еиԥш, уи иара иакәзаарын иззыԥшыз. Аибашьра иналага-зар аахыс заҟаҩ рхәхьадаз... Иагьа ишәарҭазаргьы, зынӡа абзарбзан ахы даҿагылазаргьы, ажәылараҿы

Page 260: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

260

ахәра зауз иҩызцәа далымгакәа, аӷа инапы ахьынаӡоз дааныжьны ихнымҳәыцызт.

Аҵәымаӷ еиԥш акоманда зегьы ргәы иа-лан, рхы ҭызгоз ркомандир Алиас абас изныҟәаз деилымкааӡакәа даанханы дахьыҟаз.

...Баҭаҟәа ажәлар рмал еимҵәаны, акыраамҭа ақыҭа аҽазеибымҭо иахьаанижьыз аҵкысгьы аибашьцәа ргәы ԥызжәоз, Алиас дыхәны ихы дамыхәо дшышьҭаз, абнаршәыраҿы дааныжь-ны ицаз Баҭаҟәа ихгам ҳәа аҵыхәтәантәи аамҭазы иныҵыҩ-ааҵыҩны ираҳауаз акәын.

...Џьоукгьы ирҳәон, Алиас идыруазар дкажь-ны ицаз Баҭаҟәа шиакәу, аха сцәырган ауаа срылоумҵозар иаасыдуҵо зегьы ҟасҵоит, иаауҭаху зегьы усҭоит ҳәа дааихәазар ҟалап. Дыҩнеидазар? Имашьынақәа днары ларԥшны иреиӷьыз ҳамҭас ииҭазар?

Аҽаџьоукы иџьаршьон, – Алиас изырҳәақәо ак-гьы имаҳаӡои? Зақәҿимҭуазеи? – рҳәон.

...Баҭаҟәа акырынтә иҽишәеит Алиас аресто-ран ахь днеиԥхьарц, аха иҽынахга-аахго дааиу-ан. Ҽнак зынӡа иаԥхьа дшьамхнышгыларц дала-геит. «Ухәрақәа зегьы урылҵны, уеибга-уеизҩыда ухынҳәны уаахьааз самеигәырӷьошәа схы збо сҟаумҵан. Иахьа ԥсшьара мшуп. Ашоура иҟоу убоит. Сара узгарц сгәы иахьҭоу умбаӡацт. Аи-башьра ашьҭахь сабхәында иргылт («Ақьафурҭа» ахьӡуп) амшын аԥшаҳәаҿы (иара иоуп изыргылаз, аха излаургылазеи ҳәа дыркыр ҳәа дацәшәаны, иара итәны мааҭгьы аламызшәа акәын зегьы рҿы ишиҳәоз). Алиас акыраамҭа ақәҿиҭуамызт... Мап-гьы иҳәомызт, ааигьы иҳәомызт... – Аха аресторан ахьгылоу аҭыԥ убасҟак иԥшӡароуп, ааигәа унеиаанӡа амшын ихгылоушәа ауп ишубо. Уаныҩ налалак, аӷба уҭаланы, иӡса-ӡсо амшын ухгыланы уцошәа

Page 261: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

261

уааҟалоит. Аҩнуҵҟа убас ихиоуп, уахьыԥшра уз-дырам. Аԥша хьшәашәа гәыҟаҵагаха ҳакәа иҭалан ҳмаӷра иҭысуа, ҳгәы зҳәо фатәи-жәтәи ҳагымкәа, қьаф еицаауп», – ҳәа диҳәеит.

Алиас Баҭаҟәа иааиҳәаз зегь рахьтәи ихаҿы иа-анхаз, – «Аресторан аҩнуҵҟа уҩналар, убас ихио-уп, уахьыԥшра уздырам», – ҳәа иажәа иалаҵаны ииҳәаз ауп. Абри ашьҭахь уаҳа акы ахымҳәааӡакәа дақәшаҳаҭхеит.

Арҭ ажәақәа Ҷыӷьыц иҟынтәи иаҳахьан. Али-ас дхынҳәны данааз, раԥхьаӡакәны ақыҭантәи аибашьцәа зегьы аусҳәарҭа ашҭаҿы ианеизигаз ашьыжьымҭан, аилацәажәара иалагаанӡа, амш еилашәо-еилыҵуа ақәоура аҽаназнакы, иаууеи, иа-хьа ақәа ҳақәнамцар амур ҟалап, ажәҩан лацәҟәы-шьацәҟәуа излаҿу ала рҳәан, иааила ҩҩит иааихьаз ауаа.

– Ақәа ҳалаларгьы ахан ҳазгылоуп. Уахь ҳаҩнамлои, – иҳәеит Алиас.

– Ҳаҩналеит ҳәа, ҳахьтәо, ҳахьгыло, ҳазҵагыло ҳәа акраанханы иҟоума. Ахыб абжеиҳарак ақәхны иргахьеит. Аҟәардәқәа, ауарҳалқәа, алиустрақәа – акы аанымхеит. Аҭӡамцқәаҵәҟьа цәдырҳәит. Зегьы ганы амшын аԥшаҳәаҿы аресторан ҿыц иҟарҵаз иҩнагылоуп. Уныҩналаанӡа убла иаахгылоит ҳхан хьыҵәцараха изырлашоз алиустрақәа. Итатаӡа уналагылоит ҳуарҳал ссирқәа, ҳҟәардәқәа ԥшӡа-ԥшӡаӡа игылоуп... Ианызба схагахарц егьсыгымхе-ит. Изгада, рхала ицама? – Ҷаӷьыц ибжьы еиҳа-еиҳа еиҵихуан. Зегьы идирҳарц иҭахын Алиас дхынҳәны дааижьҭеи Баҭаҟәа дшицәымшәоз, уи изы иидыруаз зегьы иҳәон. Ҧаса еиԥш иҿы асыркуеит ҳәа далагар иуамызт.

Аҵарақәа зегьы ҵәит анырҳәа аҷынҷагьы ҷит аҳәеит ҳәа, ииҭаху иҳәалааит, абри аччиа ушԥеи зы-

Page 262: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

262

ӡырҩуеи ҳәа Баҭаҟәа зынӡа хьаас имк ӡоз шәа ҟаиҵон, аха игәахы еиҟәыҷҷо Алиас днеиҿахәыҭхәыҭит, уи агмыг уизым ӡырҩын ҳәа.

– Ҷыӷьыц, иахьа урҭқәа ракәӡам ҳазлацәажәара ны иҟоу... Зынӡа аҽа зҵаароуп. Ус иҟазар, иабаҳацәцои? Ара ҳааилгақәар урҭ ртәгьы ҳалацәажәап, – иҳәан Алиас, Ҷыӷьыц игәшәамшәа ҳәаны ацәажәара дааҟәихит.

...Баҭаҟәа Алиас диман «Ақьафурҭа»ашәхымс ишынахысыз еиԥш, аресторан амаҵ зуаз аиҳабы инаиркны аиҵбы иҟынӡа ршьапы иқәгылт. Адунеи зегьы зымчу Баҭаҟәа иакәушәа ивагьежьит. Инапы акырҭа рибаҭомызт. Асас дахь дысҭоуп... Сара иа-лыхны исымоу астол шәымдыруеи? Аҵысхшы агым-хароуп ҳәа адҵа риҭеит.

Алиас зынӡагьы имаҳаит Баҭаҟәа ииҳәаз. Аресто-ран дыҩналан дахьынаԥшы-ааԥшыз даршанхеит, иибаз игәаланаршәеит Ҷыӷьыц ииҳәаз. Аҟәарашаа рыԥх ӡашала идыргылаз акультура Ахан иааҩназ зе-гьы дәылганы иааганы, «Ақьафурҭа»ишыҩнагылаз аниба, игәы ԥнажәеит, аха иԥсы ак ахирӡаауамызт. Макьана ихы агәра аиргарц иҭахымызт иара иуаажәлар ркульутра Ахан абасҵәҟьа азыруе-ит ҳәа. Азныказы ддәылҵны дцарц далагеит. Аха деиԥхьхәыцааит. Игәы иҭеикыз имраргамеит. «Аԥхьа иухәыцуа, уаӷа изы, ашьҭахь иухәыцуа – уха-зы» ҳәа Ҟанчобеи лассы-лассы ииҳәоз игәалашәан, дааннакылт.

Баҭаҟәа игәеиҭеит Алиас иҽшиԥсахыз, аресторан дыҩналаны данынаԥшы-ааԥшы игәы иамыхәаз ак шибаз аҟара, аха игәаӷьны дизиазымҵааит.

– Уахьтәалац ауми астол ахьҳархиара? Акәымзар аҽаџьароу? Унацәа ахьнақәукуа али-ԥси рыбжьара иҳархиоит, – рҳәеит амаҵуцәа.

– Сахьтәалац.

Page 263: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

263

Аҳәаха дахьырымгӡеит. Астол чыс хкы рацәала идыр ҭәит. Аханы игылаз акресло ду аҟны акәзаарын Баҭаҟәа итәарҭа, аха уи аҽны иара иҭыԥаҿы Алиас дир тәарц далагеит, уара уоуп араҟа изыхәҭоу ҳәа ди-вагьежьуа.

– Уи уара уҭыԥ ауп. Уара уахцаны уҭыԥаҟны сышԥатәои, – иҳәан Алиас, акыргьы иҽирххашәа ҟаиҵеит, аха димыртәар имуит.

Издыруада, сыла сажьазар ҳәа, зны ауарҳал ахьышьҭаз ахь дыԥшуа, аҽазны азал иаакәыршаны игылаз астолқәеи аҟәардәқәеи дырзыԥшуа, хәыцрак даанкыланы доунамыжьуа, дырххо дшамаз Баҭаҟәа ианиба (иаргьы аӡаӡ дахатәазшәа акәын дыштәаз, иԥшышьа иамхацәгьаханы), ҳхәы шыԥхоу акы ҳнацҳап иҳәеит, Алиас дызманы ицоз ахәыцра дыс-завгозар иҳәан.

– Акрыфара ҳахьымӡои. Ара ҳаԥхьа ирхианы иқәуп, иабацои? – иҳәан, ихәыцра иҽаамыхны, ҵәак алаԥысҟоит ҳәа аҳәызба иаԥхьа иқәыз ықәихырц дшаҿыз, импыҵшәан икашәеит. Баҭаҟәа, сара изышьҭысхуеит ҳәа, акресло дыҵаларц далагеит. Аха, уара ишԥаушьҭсырхуеи иҳәан, Алиас акрес-ло аҵаҟа дшыԥшаауаз, илаԥш ақәшәеит аетикет-ка шаҵарҷабыз. Иацы иҩны иақәдырҷабызшәа, анбанқәа, акы бжьымшәаӡакәа, еилыхха «иуарҳәон»ари акресло ахьҭрыжьыз иарбан фабри-коу, иарбан қалақьу, иарбан шықәсоу ианҭрыжьыз. Ари аниба, иаҳәызба иагьигәаламшәеит, ашьшьыҳәа днахан иаамыхны, дҩеихан иҭыԥ аҿы днатәеит. Акрыфара нап амыркӡакәа акыраамҭа акы дазхәыцуа дтәан. Аетикетка иџьыба иааҭиган, еиҭа ахәаԥшра далагеит. Рқыҭаҿы акультура Ахан ҟаҵаны ианал-га иҩнадыргылоз Краснодар ицаны иаазгаз иаргьы дрылан. Усҟан уи аколнхара аревизиа азуцәа хадара риҭон, иусура иаҷыданы.

Page 264: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

264

Ианааргоз аамҭеи азаказ рыҭаны иахьыддырҟаҵаз афабрикеи еиқәшәон.

Шьҭа агәра игеит, «Ақьафурҭаҿы» иҩнагылаз зе-гьы Баҭаҟәа акультура Ахан иҩынганы ишааигаз.

Баҭаҟәа иаразнак ибарҭахеит, Алиас акресло иаҵихыз аетикетка игәалаҟара шыбжьнахыз.

– Иугәаԥхо ҳәа егьумҵамзар ҟалап. Уи азыҳәан акәхап унапы заумыркуа. Ишәымоу иреиӷьу ааганы иқәшәыргыл ҳәа расымҳәахьази, арҭ иныбзақьша, – иҳәан Баҭаҟәа, ахәыҟаҵаҩцәа дрыԥхьеит.

Зынӡа ихаҿы изаагомызт, Алиас акресло иаҵыхны, иаԥхьа иқәҵаны дызхәаԥшуаз аетикетка иара изыҳәан ибӷаԥҵәагахоит ҳәа.

Ахәыҟаҵаҩцәа еибарыҩны иааит. Шәгәы иаҭахузеи, еиҭа ишәзыҟаҳҵарызеи ҳәа.

– Иумыргәаҟын, иаҳҭаху зегьы ҳамҵоуп. Шәца ҳәа ра ҳәа. Сара снапы ӡык ақәсҭәароуп, акресло аҵаҟа аҳәызба санашьҭаз иҟашьит, – иҳәан дҩагы-лан, астол дахыҵны дцеит. Дшындәылҵыз еиԥш, Алиас имҵаҵаны уажәы-уажәы дызхәаԥшуаз ақьаад кәамҟьа хәыҷы аанкылан илаԥш нахигеит. Зынӡа дызқәымгәыӷӡоз ибеит. Иахьыҟарҵаз, ианыҟарҵаз, иарбан шықәсоу, иарбан қалақьу анын, аха ихыԥҽыгаха изыҟалаз уи акәӡам. Аҟәараштәи акуль-тура Ахан ишатәыз зҳәоз аштамп ҟьаҟьаӡа иаархаз ауп. Астол ихианы иқәыз афатә-ажәтә акы ила иам-бо, Алиас иҿы хырқьиашьас иҟасҵозеи ҳәа иқьышә леины дыштәаз, Алиас дааҩналан, дааины иҭыԥ аҿы днатәеит.

Баҭаҟәа ихы дҩахан дзиҿаԥшуамызт, илаԥш ахҿеиԥш иқәшәар ҳәа дшәон.

– Ухәы уахсырҟьеит. Сара соуп изхароу. Аҳәызба сыцәкамҳазҭгьы, шьҭа чарабжара ҳнеихьазаарын, – иҳәеит, игәы иамыхәаша иибаз ицәеи-ижьи ирҭакӡаны.

Page 265: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

265

– Уара улымкаа снапы асмыркьысит. Ԥшӡала ҳаид-тәалалааит. Ҳаибабара, ҳаилибакаара, ҳаидгылара нагӡара ақәзааит, – иҳәан, ибакал нҭыркәкәа ижәны инықәиргылан, Алиас иахь даныԥшы ихы-иҿы цәгьарак ҳәа акгьы анимбааит. Баҭаҟәа Алиас убасҟак дицәшәон, ихы-иҿы «аԥхьашьа»иҵахьан, даниҭахымхоз, дшынеиҿаԥшлак ихы-иҿы ала идыруан. Уажәы, изаҟаразаалак дызлеиҭахымыз ҳәа акы ихы-иҿгьы ианимбааит, иблақәагьы ир-химбааит. Иԥсы ҭалеит, ашәак аацәыригаргьы цәгьа имбо дааҟалеит. Аха макьана зынӡа игәы изырҭынчуамызт. Уажәы-уажәы Алиас иаԥхьа иқәыз аиарлык дцәыҵыԥшны дазыԥшуан. Алиас ишибоз агашьа имамызт. Дахьахәаԥшуаз амца инаркуан. Ицарц иандәықәла, Алиас иаԥхьа иқәҵан имаз аиар-лык ихашҭны дгылеит. Баҭаҟәа иаразнак игәеиҭеит, аха џьеи иҳәарын. Иҟаиҵашаз иӡбеит. Иааныжьны дцар иара итәы иакуан, иаақәԥаан иганы ибылуан. Уи алагьы ашьҭамҭа ирӡуан. Игәалашәан дхынҳәыр ҳәа дшәаны, цәажәахәарҭас дыкны диман дышцоз, ашә индәылҵуан еиԥш аамҭаз, ак схашҭны саауе-ит, иҳәан Алиас, ишьҭахьҟа даахынҳәын, днеины астол иаақәыхны иџьыба инҭеиҵеит. Баҭаҟәагьы инаиқәшәацәгьеит. Дхынҳәны дааины аиарлык баша ишимгаз... Уи ала ак иҵеигаларц дшаҿу иды-рит, аха ииҳәо дақәшәомызт. Дбаӷьырбабо ауп «Ақьафурҭа» дшыҩналаз, аха иҳаиҭқәиҭ ыҟаӡамкәа, дҟәырны ддәылҵит. Аиарлык атәы шизымычҳауаз, аҵла иалҟьаз амаҭ ицҳаит рҳәоит еиԥш, адәахьы иахьындәылҵыз еицәаз дақәшәеит. Аресторан аԥхьатәи аҭӡамц зегьы шәарахцәала ихҟьаны, хкыс икыдымыз иарбаныз, иаҭаауаз зегьы иргәаԥхон иа-ангыланы иахәаԥшуан, иузадгомызт... Еиҳараӡак аԥсшьацәа. Алиасгьы ианиба дрывсны дзымцеит, даангылан рыхәаԥшра далагеит. Аиарлык мыж-

Page 266: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

266

да ибомбаханы изыҟалаз, ҳкультура Ахан аҟынтәи «Ақьафурҭа» аҟынӡа «аашьас»иҟарҵазеи ҳәа, уажәымзар-уажәы дысзымҵаар иушам, уи акәхап егьзахимҳәааз исҳәаз... Аҭакс исҭозеи ҳәа ицәа дҭаланы, дшәаны дышгылаз, аиарлык акәӡамкәа, аҽазҵаарак анииҭа, «иԥымжәеит», сеиқәхеит иҳәан ицәа дааҭыҵын, рызегьы зшьыз сара соуп иҳәеит Баҭаҟәа.

– Уара ушәарыцаҩызаап. Уи еиԥш шулаз сыздыр-ӡомызт... Ашәарахқәа раҵкыс абга ашьра цәгьазар ҟалап. Заҟа идузеи иушьыз абга. – Ацәа ахькнаҳаз аҟынӡа даннеи дааҭгылан, инарҳәы-аарҳәуа ахәаԥшра далагеит. – Аиаша уасҳәап, ауама угәаӷьит. – Баҭаҟәа иқәыӷәӷәо далагеит, Алиас абга давагье-жьуа данадхала.

– Ҳчаирҭа ду, аибашьраан ҳпозициа ахьгылаз, иумдыруеи, аибашьцәа рхәы уманы знык-ҩынтә унеихьан, ахәцәагьы алугахьан ҳәа сыҟоуп... Изла-саҳауала, уажәы абнара иагеит, абгақәа ууа илоуп рҳәеит. Ҳарфар ҳәа ҳшәаны ҳзылалом рҳәеит, из-шьуа дҳамам рҳәеит. – Уара иуеиӷьу ирыԥшаауада, абга акәым, ақәыџьма ушьып. Ҷкәынцәақәак уман унылалар, илоуҟәаҟәоит, акрынхаргьы, уи-нахыс ишәаны ҳчаирҭа изаламло иҟалоит. Ҧшра аҭахӡам, ари амчыбжь аҩнуҵҟала шәрылгароуп. Уажәааныла ауп урҭ еицрыԥсса ианеишьҭало. Усҟан ҳаӷоу дрылашәааит, рахәума, уааума зегь рзеиԥшуп, иаарымԥыхьашәаз рыхәдақәа ԥыжәжәа иқәырҵоит. Сара урҭ закә мыждақәоу ԥысшәахьеит.

Схы сзымдыруа сыхәны, сыбӷа ԥҵәаны, сшьа-пы сзықәымгыло схала санаанха, аӷацәа сыкәшара иалагеит. Сыргар аҵкыс иара сахьышьҭаз сыршьыр сҭахын. Зны-зынла саалҵызшәа сааҟалон, нас иа-разнак сынҭанагалан, сыхдырра сцәыӡуан. Сҩызцәа, аӷацәа рыкәшаны ишыҟазгьы, иааҟәымҵӡакәа (шәара

Page 267: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

267

шәхы шәыхьча, сара шәысҟәаҵ ҳәа расҳәарц сгәы иаҳәон, аха сҿы исзарҳәомызт, сымч сылӡаа хьан, сҿы аихыхра сылшомызт), хшаҭарак муӡакәа, реихсра ишаҿызгьы, рхы мшаҭаӡакәа, ахқәа рывыҟьҟьа ишцоз аӷацәа рнапаҿы саанмыжькәа, салган срыман ишцоз, аибашьцәа иреиуамыз ҳқыҭантәик, аӷацәа ишьҭазшәа дыҩны дышнеиуаз рбан, аӡәгьы душьҭам, урҳаны уа-бацои рҳәан, сизаанрыжьит, ушзахәо аштаб ахь думан уцароуп ҳәа. Ҳара ҳашьҭахьҟа ҳхынҳәыроуп, ҳҩызцәа ҳрыцхраароуп, рҳәан ишызбоз ихынҳәны ицеит. Дга ҳәа сзырҭаз мҩабжагьы снеимгеит. Цхыбжьон абна агәҭаны абгақәа срызныжьны дцеит. Акы збо, акы саҳауа сыҟамызт, аха зны-зынла саалҵны, сылақәа ахҩара иаҿыз аатуан. Усҟан, агагеиԥш, ицәаара збон... Дызусҭаз цқьа еилыскааӡа исықәлашьцаны, ак сым-бо сааҟалон. Сымԥсыкәа санаанха, даара исҭаххеит ауаҩымра сзызуз сҩызцәагьы саргьы деилкааны дҳамазарц.

Ари ажәабжь аҳәара дахьынӡаҿыз, ишьа шны ихыҵны ижәлазшәа, ихиҿы апырпыл еиԥш иҟаԥшьхон, аҽазны – илабазшәа дцәышӡа дааҟалон. «Иахьа абрахь усыман амҩа санықәлоз сшьапқәа зԥымыҵәҵәазеи»ҳәа иԥсы ихаҳаны, сыхьӡ иҳәа-рымашь ҳәа дшыԥшыз, Алиас аӡәгьы ихьӡ мҳәаӡакәа даангылт.

Баҭаҟәа иԥсы аниоу, – Уи саргьы исаҳан (Москваҟа уанырга ашьҭахь), абри еиԥш ҟазҵаз иеилкаара сашьҭалеит. Аха уи ауха аӷацәа урылганы, уааскьа-ганы уаанзыжьыз аӡәгьы даанымхеит, аҩыџьагьы ҭахеит. Иҟалаз аиаша здыруа уаҩ дысзымԥшааит. Уҳәан-сҳәанла акы рдыруашәа зҳәақәоз ыҟоуп, аха урҭ рыгәра злоугарызеи...

Зынӡа иҽалиршәшәарц далагеит, Алиас абнаҿы дааныжьны ицаз дызусҭоу шизымдыруаз иҳәашьала ианиба.

Page 268: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

268

– Иуҳәо иашоуп. Уи ауха ирацәаҩны иҭахеит. Сара сыхәны салызгаз руаӡәк иԥсымҭаз деиқәызкыз аӡәы иаҳәара дахьӡеит. Уи дызусҭаз еилызкааз Мо-сква санышьҭаз сибарц даннеиз исеиҳәеит. Сара ахәшәтәырҭа сҭыҵны снеиаанӡа, уҿы иааҭыхны ԥсы зхоу аӡәы иоумҳәан ҳәа иасҳәеит. Сажәа ҩбаимтәит. Иареи сареи ҳада аӡәгьы издырӡом. Шьҭа иазҳархап. Уаҳа акгьы усмазҵаан, – иҳәан, аҽакахьы иахигеит ацәажәара.

Баҭаҟәа зегь раҵкыс дзыцәшәоз аус дҿарбаӷьа дакит. Ашьацҳәа иаҿашәаз абгаду еиԥш ԥхьаҟагьы дзымцо, шьҭахьҟагьы дзымцо, дҿазза даҿахеит...

Дахьыҟаз «Ақьафурҭаҿы» акәӡамкәа, аусӡбарҭаҿы ды ҟазшәа, иус ӡбаны ашьра иқәырҵазшәоуп иҩны дшааз, ихәда хҽны.

Иаашаанӡа лацәеихьшь изыҟамҵеит. Илацәа ааи-хьишьыр дцәырҳаны дааԥшуан. Зны, аиарлык ихәда иахаҵаны дыкнарҳауашәа ибон. Аҽазны, абгадуқәа ишьҭаланы деимыжәжәа дыргошәа ибон. Аҽазных, акульутра Ахан дыҩнагылан, дықәгьежьааны дкәашозшәа, зынӡа ддыраапкуан. Алиас иажәақәа дрызхәыцуа даналагалак, «сыхәны саныҟаз, мҩабжа снаган скажьны ицаз уаҩ шәыргәындак иакәын» аниҳәа (аресторан аҟынтәи ианаауаз), Баҭаҟәа иааигәалашәеит, аибашьра анцоз ҽырчмазаҩ ҟаҵаны, кәыркәа ашоураз, алабз анхәытәуаз ҳәа ззырҳәо аамҭазы, ҩба-хԥа хыза иқәҵаны, аҩар еиԥш аԥхӡы илыҩрны ишцоз, Алиас дааихагылан, уара шәаргәындак уакәзаап ҳәа иеиҳәеит, ушԥаҟоу ҳәа диазымҵааӡакәа. Сыхьӡ ааҭкааны имҳәеит акәымзар, сара соуп «ашәаргәында» ззиҳәо. Уажәы уи абра ианааиҳәа, ҽнак хәлаанӡа сыԥсы наргом, иҩызцәа иара изы рыԥсы рҭиуеит. Аха, ус сҳәеит ҳәа, зны-зынла сцәымӷра имоуп ҳәа зласҳәаша ак-гьы идсымбало сааҟалоит.

Page 269: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

269

Аресторан аҟынтәи ҳанаауаз, ҳкультура Ахан ҳанаавала, – Уеиқәылашьцаха, уеиқәыцәашьха угы лоуп, аха маҷк иаачҳа, иаарласны ԥасеиԥш ухьыҵәцараха уаабараны ҳаҟоуп. Ус ами, Баҭаҟәа? – иҳәан, ихы насықәикит. Иасҳәара сзымдыруа саанхе-ит. Абас дхааӡа дсацәажәоит ҳәа сгәы ишаанамгаӡоз.

Аиаша уасҳәап, ҳхан еиқәурхеит, иҩназ зе-гьы аадәылганы, аамҭа бзиак ҳзааиаанӡа ҳәа иԥхьоумкызҭгьы, иҩнаҳаргылаша ҟәардә заҵәык иадамхаргьы иҳамамкәа ҳаанхон. Сганы иахьыҟаз зысурбазгьы, иаарласны рыргьежьра угәы иахьҭоу азы акәхап. Абри еиԥш аус дуқәа ақыҭазы иахьыҟоуҵо азы ажәлар ҭабуп ҳәа уарҳәар ақәнагоуп ҳәа сеиҳәеит. Уи сгәы арҟәандеит.

Игәы иҭамызт, ихы иҭамызт исырхынҳәуеит ҳәа. Ахан ширҳәыз зегьы ирхашҭхьеит ҳәа игәы каршәны дыҟан...

...Иааиҭаххо зегьы сылаигӡо далагеит. Абас санбанӡаихәои? Сыбӷа ӷәӷәазҭгьы, сҭынха ду иаркы-ирцә ҳәа даныҟаз акәызҭгьы, ма дыдҭасыркуан, ма дыдсыршьуан, уи зынӡа егьаҭахӡамызт, алу иахәлашәаз иеиԥш дыдирлагон. Уи акәымзаргьы, дықәызгаша ак иҵагаланы, ақыҭа ишьапы из-аламыргыло дисырҟаҵон. Ари арыцҳа, зхарамфа иеиԥшызма, алымқәа ирҩызцәаз, ҳус иаԥырхагоуп ҳәа иҟәыбаса иргахьоу.

Москва данышьҭаз инеины, абгақәа урылажь-ны ицаз абри иоуп ҳәа сыцәгьа зҳәаз деилкаа-ны дсымазҭгьы Москвантәи Аҟәанӡа даанӡа изы-зушаз здыруан. Дызусҭхарыдашь ҳәа уи ауха, Алиас ицеибашьқәоз аӡәаӡәала дрызхәыцуан. – «Сандра ихгам... Хымԥада уи иоуп иазҳәаз. Москва дахьынӡашьҭаз, лассы-лассы ибара ҳәа иара иакәын ицоз. Урҭ зынӡа еизааигәоуп, еиҩызцәоуп».

Page 270: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

270

Алиас аресторан ахь дигарц аусҳәарҭа даадәылган имашьына аҭалара ишаҿыз, Сандра дрымбаӡакәа даарыдгылан, – Алиас, ахәылбыҽха џьара ҳцоит ҳәа еибаҳамҳәахьази, иухашҭыма? – иҳәеит, Баҭаҟәа дицны дахьцоз игәы ишамыхәаз ирдыруа.

– Исхамышҭӡеит, аха Баҭаҟәа мап сцәумкын ҳәа дансыҳәа, сақәшаҳаҭхеит.

– Баҭаҟәеи уареи ишәзеилоузеи, уахи-ҽни шәеи-бам бар амуа ишәыбжьоузеи? Сара схала сакәӡам иаз ҵаауа, ҳҩызцәа рацәаҩуп, ирасҳәарызеи?

– Иҳабжьоу маӡоуп, иареи сареи ҳада аӡәгьы издыр ӡом. Ианаамҭоу ираҳауеит...

Алиаси Сандреи наҟ-ааҟ ажәақәа анеимырдоз, Баҭа ҟәа иҽалаимгалеит. Усҟанҵәҟьа усҟак хырҩа азимуит, аха уажәы ацыгә ду еиԥш дхәыҵаианы дышхәыцуаз, Алиас иажәақәа, «иареи сареи иҳаб-жьоу аӡәгьы издырӡом. Маӡоуп. Аха ианаамҭоу зегьы ираҳауеит», ҳәа иеиҳәаз анааигәалашәалак, ииарҭа амца алҟьаны абылра иалагазшәа дааҟалон.

Уи ҵхымыжда ауха, абнаҿы абгақәа рҿаҵахәыс дааныжьны ицаз дизымдыруазшәа... Сара сиҭаху-шәа, ақыҭауаа еизаны смаҵура самырхырц иана-лагоз, имукәа саанижьызшәа ҟаҵаны, дсывагыла-ны аус сыциуазшәа сырбаны, аха иара иааиҭаххоз ада ак смырҟаҵо снапқәа ҿаҳәаны симоуп. Иара дааижьҭеи ақыҭазы иааҟаҳҵахьоу зегьы иара ихы алыршәшәаны, сара сыбзоурала иҟалазшәа ауп ишиҳәо. Уажәшьҭоуп уи иаҵоу еилыскаауа саналага. Аха иҿагылашьа сымаӡам. «Аамҭа анааилак, уи амаӡа ауаа ираҳауеит», ҳәа баша имҳәаӡеит. Аҩсҭаа дызкыз сиҩызахеит, дукыр, уаб дишьуеит, доуужьыр, уан дишьуеит ҳәа ззырҳәо сиеиԥшхеит. Сыҽсырцәгьар, еицәастәуеит. Сҽысмырцәгьар, ҿымҭӡакәа ад-гьыл сыҵжааны анышә сеиҭарц даҿуп... Аха ихы шымҩаԥигаша ҳәа акымзарак изымӡбакәа, дшы-наҳәааҳәуаз, дмыцәаӡакәа иршеит.

Page 271: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

271

...Мчыбжьык еиҳаны иҵуан Алиаси Ҟанчобеи еибамбацызижьҭеи. Ҟанчобеи ахьҭа илалан дыч ма заҩхан, дышьҭан. Ашоура иман. Иҩны дыздәылҵуамызт. Даара иҭахын Алиаси иа-реи еиқәшәаны еицәажәарц. Ибара ҳәа иаауаз бжеиҳараҩык, Баҭаҟәа Алиас машьынаказы дааи-хәеит ҳәа гәалас ишрымаз акәын иарҳәоз.

– Алиас шәаргьы дыжәдыруеит, аха шәгәы иалы-шәмырсын, сара шәара шәеиҳа деилкааны дсымо-уп. Уи иуҭиуеи иааухәои дреиуам. Баҭаҟәеи иареи абасҟак иахьеизааигәахаз шәара шәеиԥш саргьы исгәамԥхаӡеит. Шәеидызкыло ишәымоузеи иареи уареи ҳәа дшызбалак иасҳәарц сгәы иҭакны исыман. Ԥаса лассы-лассы дааилон. Ибара даара исҭахын. Сгәы бзиамкәа сышьҭоуп ҳәа иаҳазаап, жәацы ахәылбыҽха дкылҟьа даакылсит.

Ушԥаҟоу ҳәа исиҭаз азҵаара аҭак имҭаӡакәа (дыцца куашәа анызба), ирацәаҩны ирҳәоит Баҭаҟәа уааихәа зшәа, имашьына ҳамҭас иуиҭазшәа, ииашо-ума, акәымзар гьы ҳара иҳаумҳәо џьара акы аҵоу ҳәа сизҵаарц даара исҭаххеит, аха сахьихәаԥшуаз, иҽиԥсахит ҳәа злоуҳәаша акы далаҟаны сымбаӡет, сҽааныскылт.

– Иаарласны ҳаизараны ҳаҟоуп, ишаҳҳәахьаз еиԥш, Сафарбеи ибаҟа ахьҳаргыло аҭыԥ алх-реи анхаратә усқәеи рылацәажәаразы. Ԥасеиԥш уажәыгьы аусҳәарҭа ашҭаҿы ауп ҳахьеизо. Уз-барц сааит. Шьҭа ушьапы уқәгыло уҟалеит. Даа-ра иаҳҭахуп ҳажәлар реизара уҽалаурхәырц ҳәа насеиҳәан, даанымгылаӡакәа ддәықәлеит. Дцо даналага дааныскылан, аамҭа кьаҿла, аҽакала иуҳәозар, уара уааижьҭеи ҳқыҭа убар иузымдыруа аҽаԥсахит. Баҭаҟәа аума шилаз ҳзымдырӡозаарын. Уахгьы-ҽынгьы дтәаӡам. Уаргьы уивагылоуп, аха акрызку иара иоуп. Зегь ҟазҵаз иара иоуп рҳәеит, ҳатракторқәа ҳцәызгахьаз ирымхны иааигеит рҳәеит,

Page 272: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

272

лашарада еиқәылашьца итәаз ҳқыҭа абжа алашара рзыҟазҵаз иара иоуп рҳәеит, ҳаӡлагара мацара акыр иаҳзаԥсами. Лассы ҩнаҭацыԥхьаӡа аӡы рызнеиуа, аибашьра ҟалаанӡа ишыҟаз еиԥш иҟаиҵоит рҳәеит. Џьоукгьы ус рҳәоит, уи усҟак зыҟаиҵо иара иҭахны акәӡам, мчык инарҟаҵоит ҳәа. Ақыҭаз ибзиоу ак ҟасҵандаз ҳәа дыҟазҭгьы, уажәраанӡа изыҟаимҵоз ...Ихазы акәын зегь зыҟаиҵоз ҳәа рҳәоит. Уара иахуҳәаауа саҳар сҭахуп.

– Аура шаха баала иркуеит ҳәа иуҳәало ажәаԥҟа даара ихәарҭахеит.

Алиас шьапыла дыҟан. Данца ашьҭахь сгәыла дсазҵаауа далагеит. Шьапыла дызныҟәозеи, ама-шьына ҿыцӡа Баҭаҟәа ииҭаз дақәтәаны дзымаазеи ҳәа.

– Уара ухаҭа дубахьоума дақәтәаны дныҟәо, ҳәа сизҵааит. Иргылан имоуп, дақәтәаӡом ҳәа саҳахьан азы.

– Мап, сара хаҭала усазҵаауазар, дақәтәан дсым-баӡацт, – иҳәеит уи.

– Деигӡаны акәымзар ҟалап дзақәымтәо, хымԥада уи акы иамааноуп. Иахьамзар-уаҵәы иаҳ маҳарц залшом, – иҳәеит Ҟанчобеи. Аус дуқәа ирылацәажәараны иҟоуп абригьы-абригьы аҽны аусҳәарҭа ашҭаҿы ҳәа анры ларҳәа, изаҳаз аӡә да-анымхеит. Абацәа, абдуцәа, зымч каԥсахьазгьы, алаба рҽанҵаны икылсит. Шьыбжьон акәын аила-цәажәара иалагараны ианыҟаз, ргәы иамыр тәеит, уаанӡа изымԥшит. Амра агыламҭаз зегьы еизахьан, аусҳәарҭа ашҭа иазымкуа.

Имҩаԥызгараны иҟаз Баҭаҟәеи Алиаси ракәын. Иазыԥҵәаз аамҭа ааины иаарыдгылт. Уажәымзар-уажәы Баҭаҟәеи Алиаси еицны иаауеит ҳәа ирзыԥ-шын, аха макьаназы иҟамызт.

Page 273: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

273

Баҭаҟәа дшааиуаз, имаҟахы иадҳәаланы имаз ацә гьаҳәацәа иреиуаз аӡәы дааиԥыланы, ум-цар еиҳа еиӷьуп, ҽыҵгак ԥшааны иахьатәи аи-зара уҽалоумырхәыроуп. «Иахьа Алиас ажәлар рыгәҭаны, Баҭаҟәа иеиқәа ишьи хырц дыҟоуп»ҳәа алымҳаҭас соуит ҳәа иеиҳәеит. Ари еи ԥш аниаҳа, иара уаҵәҟьа дадырсызшәа дышьхныԥсы ланы да-анхеит. Иҟаиҵара изымдыруа, дбалыбаҭо дгылан. Сышьҭахь хтны ауаа сыдирбар аҵкыс схынҳәыр еиӷьуп ҳәа ӡбаны иаахынҳәымҭаз, даҽаӡәы (уигьы цәгьаҳәаҩ цәас иҟаҵаны имақәаз иреиуаз иакәын), иуаҳаз иашаӡам. Сара сыгәра га. Иахьатәи аизараҿы уара узы абзиа ада цәгьак аӡәы иузиҳәараны дыҟаӡам. «Уаанӡа иҟаиҵоз атәы сара исыздырам, аха схынҳәны сааижьҭеи ажәлар ирыхәо аҟаҵара даҿуп. Гәыбӷан иҭара аҵкыс, иҭабуп иааҟоуҵақәаз зегьы рзы ҳәа заҳәатәу иоуп»ҳәа Алиас гәыԥҩык дрылагыланы ишиҳәоз саҳаит ҳәа иеиҳәеит Баҭаҟәа, цәгьаҳәаҩцәас имаз зегьы раҵкыс зыгәра игоз уи иакәын. Илымҳақәа убасҟак иҵарын, ага аԥшаҳәаҿы маӡажәак рҳәозҭгьы, иара ашьха ашьапаҿы дгы-лазаргьы илымҳақәа «амҵасны»иркуан. Ус акәын дшырыԥхьаӡоз.

Уи ашьҭахь Баҭаҟәа хаҳә дуӡӡак изқәа иқәҳәаны икаижьызшәа дааҟалан, аизарахь дцеит. Зегьы ԥшны игылан, иаламгаӡацызт. Даара деимдеит блала, аха Алиас димбеит. Ашәара иоуз ихыҵны ицахьан, аха Алиас дшыҟамыз аниба, еиҭа изыхынҳәын, игәы ҭыҵны ицарашәа, аисра иалагеит. Аӡә даарылҵны, уара уԥхамшьаӡакәа ҳаизараҿы ушԥааи, ҳара ахы ҳанаҿагылаз, уара ҽырчмазаҩ ҟаҵаны уиан. Зынзаҵәыкгьы уҳавамгылеит. Аҵкыс еицәоу, иа-хьа узыцәнымхошәа узышьҭоу Алиас дыхәны ихы дамыхәо дшыҟаз, цхыбжьон абнаҿы, абгақәа дырза-аныжьны, ушәаны, уҩны уцаны уҽуҵәахит. Ҳҩызцәа

Page 274: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

274

иҭахаз рзы абаҟа аргылара ҳахьалацәажәо уара усс иумоузеи, иҟоуҵахьоу умдыруеи, абыржәыҵәҟьа уқәҵны уца, ҳала уҽоумырбан ҳәа даасҿагылар, ишԥаҟасҵои, исыԥсыхәозеи ҳәа игәы цаны дышгы-лаз, дзеиҭамҵуа даанхеит. Аха аӡәгьы егьимҳәеит, блаҵархәылагьы аӡәык-ҩыџьак рыда ихәамԥшит. Уи ибӷа ааиҵнахит, илақәагьы аартны днарылаԥшит.

Алиас иааира акәын зегьы ззыԥшыз. Аусҳәарҭа ашҭа ду, ҽырыҩрҭак иаҟараз, аханы машьынак ааҭалацыԥхьаӡа, Алиас иакәзар ҳәа аицәажәара иааҟәыҵны аԥшра иалагон. Аибашьцәа, Баҭаҟәа ҳамҭас ииҭаз амашьына дақәтәаны ашҭа дааҭалар, рыбжаҩык ықәҵны ишцара игылан. Убри аҟынӡа ирцәымыӷханы иҟан, адунеи азна зыгәра ргоз, ауаҩы цқьа-аԥсыцқьа, Баҭаҟәа ауаҩы мыцқьа аԥсымҭә дышԥеитәитәи ҳәа. Ишымгәыӷӡоз, Алиас шьапыла ашҭа данааҭала, иҩызцәа аргәырӷьеит, идҳәаҵаланы аԥсшәа иарҳәеит. Игәырӷьаҵәа иааҟалеит.

Баҭаҟәа даара иҭахын Алиас ҳамҭас ииҭаз ама-шьына дақәтәаны ажәлар даарылагыларц. Шьапыла дахьааз даара игәамԥхеит, аха акгьы инмырԥшӡакәа «дҵыхәаршәшәо»диԥылан, аԥсшәа иеиҳәеит. – Иацы маҷк угәы еиқәшәамызт. – Иахьа узымаар ҳәа сшәаны сыҟан. Дицәнымхошәа ихы иирбон. Дзыцәшәаҵәҟьоз, Алиас дзымаар ашҭа дықәырцар ҳәа акәын.

– Мап, мап, иахьа хар сымаӡам, сзагхаз уи азы акәӡам. Архитектор Очамчырантәи даараны дыҟан, сшизыԥшыз саанхеит. Аҽа уск дахнагазаап, дахьзыҟамло аҭамзаара шьҭеиҵоит, уажәоуп адыр-ра ансиҭаз.

– Иахьатәи ҳаизара ахаагома? – иааиларыԥсеит ааи гәа-сигәа игылақәаз.

– Хра злоу зҵаароуп, иахьа ҳазлацәажәараны иҟаз. Иахьа иаҳзымыӡбаргьы, уаҵәы иӡбахоит. Абаҟа

Page 275: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

275

ҳмыргылар ҟалаӡом. Уи ҳара иаҳуалԥшьоуп. Кашәа-ра ақәымзароуп Сафарбеи ихьӡ. Уи ус ауп. Егьыс, ҳанеиқәшәах, уи адагьы ҳазлацәажәаша ҳамоуп. Ҳгәаанагарақәа еибаҳҳәап. Ҳаԥхьаҟа ҳшыҟалаша атәы ҳалацәажәап, – иҳәан, зегь ааиқәиртәеит.

Уи акәызшәа иззыԥшыз, аҳәарҭа рибамҭо ацәажәара иалагеит. Зегьы ирҳәоз Алиас итәы акәын.

– Анцәа дуцхрааит... Ҳаргьы дҳацхрааит... Уара убзиаханы уаҳзааижьҭеи арыӷьарахь ҳхынҳәит, – иҳәеит аӡәы.

– Алиас, уара уҳамамызҭгьы ишԥаҟаҳҵоз. Ҳқыҭа ааныжьны ҳамцар амуа, хныҟәгашьа ҳамамкәа аҟынӡа хәнеины ҳаҟан, – иҳәеит аҽаӡәы.

– Алиас, ухынҳәны уааижьҭеи уамак шымҵуагьы ҳацәхәаҭеит. Ҳацәмаҭәақәа кажьны анкьеиԥш ақыҭа-нхамҩатә техникала ҳцәаӷәо, ҳлаҵо, ҳрашәо ҳҟоуҵеит. Ажәлар урныҳәоит. Рныҳәаԥхьыӡ угымха-аит, – иҳәеит аҽаӡәгьы.

– Ашьха ӡыхьқәа ахьхьа-хьхьаҳәа иҳавсны ицон, ҳара ҳӡышуа ҳархыԥшылон. Иахьа ҩнаҭацыԥхьаӡа имҩахыҵны иҳазнеиуа иҟоуҵеит, ҳуркьаҭеит. Аӡа-шәа иузҳааит, – ҳәа аҽаӡәгьы ибжьы ҵрыхәҵәаӡа иаарылаҩит.

– Анцәа ҳазшаз уԥсҭазаара ирлашааит, ианаахәла нахыс, кәаҷабымзар лашарак ҳамбаӡо, ҳзыхҟьашо ҳамбо, ҳахькаҳауаз ҳзымдыруа, ҳнапыршьышьуа ҳаҩнқәа ҳаш рыҩназ, икахха алашара ҳзыҟауҵеит...

– Ишәҳәо саҳауеит, аха уи зегь ҟазҵаз сха-ла сакә ӡам, Баҭаҟәа иоуп ҭабуп ҳәа заҳәатәу. Уи иакәмызҭгьы, аӡла гараҵәҟьагьы ҟалараны иҟаӡа-мызт... – Алиас зегьы ацәажәара шырҭахыз, насгьы излацәажәаз ак шакәыз аниба, ицәажәоз иажәа дша-алгаз еиԥш, аҽаӡә далагаанӡа иара дналагеит.

– Уи уара ухы абзиараз иуҳәоит акәымзар, уажә-раанӡа изыҟаимҵоз. Уара уаара дазыԥшызма? –

Page 276: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

276

рҳәан, ҿымҭӡакәа изыӡырҩуаз аибашьцәа рыбжеи-ҳараҩык аууы ааилдыргеит.

– Дааихәеит, уи азоуп дызирҽхәо, ҩба-хԥа нхара иаԥсоу аҳәаанырцәтәи амашьына амалаҳәа аӡәы заҵа иимҭара, уи аиха ршы икызар иузимпыҵыхраны дыҟоума, – ҳәа џьоукгьы рыбжьқәа ныҵакны еибызҳәазгьы ҟалеит.

Аҽаџьоукы рыла узхыԥшыломызт, убасҟак игәаан игылан, Баҭаҟәа изыԥшуа, ак сҳәоит ҳәа иҿы ааихи-хыр, иҵаҟьаны дықәырцарашәа.

– Ус шәара шгәы ишаанаго акәӡам аусқәа шцо. Аԥхьа ҳанеиқәшәаз ҳаиҳабацәа ирҳәаз ҳгәала ҳар-шәап. Ҳара ҳаԥсы ахьынӡаҭоу ҳаҩнқәа рышә ааҳарт-лап. Аха ҳара есқьынгьы ҳаҟоума. Ҳамшқәеи ҳаҵх-қәеи ҳаԥхьаӡо аҟынӡа инеихьоу даара ҳрацәаҩуп. Ҳаныҟам аҽны инаркны ҳаҩнқәа рышә акуеит. Аҿар уаҵәы иааҳаҵагылап ҳәа гәӷырҭас иҳамаз ақыҭа иалҵны ақалақь ахь ацара иаҿуп. Знык уахь ицаз ишьҭахьҟа дхынҳәны дааӡом. Гәыбӷансгьы ираҳҭозеи, иахьааиуа ирбозеи. Адгьыл заҟа рҭаху рымоуп, уаҳа ирҭахузеи, инхааит, инҵааит ҳәа ауп иахьатәи аиҳабацәа ақыҭауаа ишҳацәажәо.

Шәыԥсы шԥаҭоу, хныҟәгашьас ишәымоузеи ҳәа аӡәгьы дҳазҵааӡом. Ииашоуп, мачхәума, адгьыл ка-жьуп, аха ахала акрыҳҿанаҵома? Иқәаарыхтәыми. Уи дара хьаасгьы ирымамзаап. Ҳазлацәаӷәо ҳамам, ҳазлалаҵо ҳамам. Ашьха ашьапаҿы ишьҭоу ҳқыҭаҿы аӡә даачмазаҩхар, агәырҵәҟьа изыҟазҵо дҳамам. Амедицинатә пункт аибашьра аанҵәазар аахыс ашәқәа аркуп. Чмазаҩ ӷәӷәак дааҟалар араион хәшәтәырҭа аҟынӡа днаҳгаанӡа дҳам пыҵаԥсуеит. Уардынымзар машьынак ақыҭазы иҟамлеит.

– Баҭаҟәа акыр ихы аџьа аирбеит. Ақыҭазы азеиԥш транспорт дашьҭалт, дахьымнеиз кабинетк ааным-хеит, аха шәара шәхы шәамыцхраауазар иахьазы

Page 277: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

277

ҳара акы ҳшәыхәо ҳаҟам ҳәа иарҳәеит, ишамуа агәра анига, арахь шәара атранспорт шәшаргәаҟуаз им-бози, ихатә машьына даақәҵын, ақыҭа хәшәтәырҭа ҩны иеиҭеит, ауаа рымаҵ ауразы. Абыржәы ашҭа иҭалан иаагылаз иароуп. Аԥсҟы зкугьы ауалафахәы иоуа дҟаиҵеит. Шәыхьӡ алагьы, сара сыхьӡ алагьы, ҭабуп ҳәа иасҳәоит, – иҳәан, инапы аҿынаирхеит Баҭаҟәа инапы ааникыларц.

Баҭаҟәа Алиас инапы имхра акәым, ибз ихәла-шәазшәа ииҳәо иҿамшәо, иҟаиҵо дақәымшәо, дыббаӡа даанхеит азныказы. Иара иоуп сара сма-шьына зысҭаз, ауаа иреиҳәо закәызеи? Сеиле-игарц даҿума. Ишусҭаз еиԥш иумысхуеит ҳәа дытҟәацны дцарашәа, Баҭаҟәа Алиас данынеиҿаԥш, дныҵыкка дцеит.»Уара усгьы иԥсуа уоуп. Сара схы еиқәсырхоит ҳәа абна сылажьны уцоит, аха саанхар уахьсырхәуеит». Иара иҿы еилгомызт, аха данаани-жьуаз иблақәа ирхибааз игәаланаршәеит усҟантәи иԥшышьа.

– Абасҵәҟьа ҟаиҵама, ихатә машьына ажәлар шәхы иашәырхәа ҳәа иҳаиҭама? – ҳәа иҵаақәаз ҟалеит. Баҭаҟәа дзакәыз рымдыруази.

– Агәра ргом уара ухаҭа ироуҳәаанӡа, – иҳәан, Алиас Баҭаҟәа ишҟа даахьаҳәит.

Алиас абас сзиуеит ҳәа иԥхыӡгьы иалашәомызт. Сна паҿы даазгахьеит, даасхәахьеит, цәгьак сыҵа-галашьа имаӡам ҳәа игәы рҭынч дшыҟаз ауп, «ашьацҳәа дшаиркыз». «Уара уоуп амашьына зысҭаз» ҳәа иҳәар изымҳәо, имҳәар амуа, иҿы ҭыкка ишикыз даанхеит азныказы. Аха зегьы ишҟа аԥшра ианалага, сиҿагылоит, иара ишисҭаз сҳәоит ҳәа иҽаныназикуаз аамҭазы, иааигәалашәеит аи-зарахь данаауаз, «умцан, ухынҳәы, иахьа Алиас ажәлар рыгәҭаны, уеиқәа ушьихырц игәы иҭоуп»ҳәа цәгьаҳәаҩыс имоу дихьӡаны иеиҳәаз. Сиҿагылар

Page 278: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

278

сҭаирхоит. Сиқә шаҳаҭхароуп иҳәан, Алиас диашо-уп, ажәлар шәзы бзиак ҟасҵандаз сҳәан, смашьына ахәшәтәырҭа иасҭеит ҳәа рылеиҳәеит, игәы иауа-иа-муа.

– Аус ду ҳзыҟауҵеит... Ариабжьарак ас еиԥш шаҟа ҳзыҟауҵахьоузеи, ҭабуп ҳәа уаҳҳәоит, иааҳ зы-ҟауҵахьоу зегьы уаԥхьаҟа иуԥылааит! – зегьыҵәҟьа ракәымзаргьы, имаҷҩымкәа ргәы ишахәаз идыр-ҳауан.

Алиас иҩызцәа аибашьцәа аӡәымкәа, ҩыџьамкәа, Баҭаҟәа даахәаны димоуп ҳәа игәра рзымго аҟынӡа инеины иҟаз, Баҭаҟәеи иареи еибырҳәаз анраҳа ашьҭахь рхы агарҭа рмоуа иԥхашьеит.

– Шәгәы иахәаша аҽакгьы шәасҳәоит, – иҳәан, Алиас еиҭа иааирӡырҩит.

Ари иара игәаԥханы иҟаиҵоу, мамзаргьы дыр-шәаны аӡәыр иирҟаҵоу ҳәа, џьоукы агәра рзымго, аҽаџьоукы агәра рго, рыбзқәа еилаханы Баҭаҟәа итәы алацәажәара ишаҿыз, шәааӡырҩы, шәгәы иахәаша аҽакгьы шәасҳәоит, иҳәан, Алиас рызегьы ааирӡырҩит.

– Иахьатәи амш имшу мшызаап, ҳзыргәырӷьаша ада аҽак ҳмаҳац. Еиҭа ҳгәы иахәаша иҳауҳәозеи? – рҳәеит.

– Шәааиқәшәацыԥхьаӡа даара шәгәы иалырсны ишәҳәон, ҳҿар лахҿыхырҭас иахьрымаз ҳкультура Ахан аибашьра ашьҭахь идырҳәит, иҩнагылаз акы ааныр-

мыжьит, идәылганы иргеит, уҩналар узықәтәо ҟәардә заҵәыкгьы ҩнагылам ҳәа.

– Ииашами? Тәымуаак ааны идырҳәыз џьушьома, Алиас. Ҳара ҳтәқәа роуп иҟазҵаз. Изусҭцәоу ҳзым-дыруа џьыршьоит. Иахьанӡа ичҳауа ҳааиуеит, аха ицәы ҵаҳмырттар аауӡом, – ҳәа зҽырцәгьан ицәажәаз ҟалеит аҿар рахьтә.

Page 279: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

279

– Шәхы аџьабаа ашәмырбан, ацәыҵырттара ҳәа шәызҿу аҭахӡам, ахала ицәырҵны иааны, аҭыԥ аҿы игылараны иҟоуп, – иҳәеит Алиас.

– Алиас, иуҳәо зегьы агәра аагоит, иҳадуҵогьы ҳахы ԥаӡом, аха абыржәы иуҳәаз, ахала ихынҳәны иаауеит ҳәа, ҳаҭоумҵан, аха иаҳзеилымкааит. Изгаз иоума иаазгара -ны иҟоу?

– Изгаз иоуп еиқәзырхаз. Изаҟаразаалак кьыс рымаӡамкәа, ҟәардәума, столума, креслома, апи-анино аума, алиустрақәа роума, авазақәа роума, еиқәырханы имоуп. Сганы исирбеит. Аресторан «Ақьафурҭаҿы» иргыланы имоуп, мчыбжьык ахи-аҵыхәеи ала иааганы доусы иахьгылаз аҭыԥқәа рҿы иргылахоит. Ус ами ишыҟало, Баҭаҟәа?

Баҭаҟәа, ихәдаџьал иақәшәазшәа, ихы леины дгылан. Акресло иаҵаҷабыз аиарлык Алиас иџьыба иҭаҵаны аресторан дандәылҵ нахысгьы, ицәа иалашәан дыҟан уи баша ишимгаз.

Дақәшәеит шьҭа, Алиас ииҳәаз дақәшаҳатхар акәхеит.

– Ирхынҳәны... иааганы зегь рҭыԥқәа рҿы ир-гылахоит. Егьи амчыбжь анҵәамҭазы... – Аӡә ихы даӷрагылан мчыла иҿихуазшәа ауп иҿы акуа-иашьҭуа ишиҳәаз.

Ас еиԥш заҳаз аҿар гәырӷьаны анапеинҟьара иалагеит. Ианаарго иарбан мшу ҳаҳар, ҳара иақәаҳхуеит... Ҳара иҩнагалан иҳаргылоит, рҳәеит аҿар. Дара реиԥшҵәҟьа адуқәагьы еигәырӷьеит. Аи-башьра ҟалаанӡатәи аамҭа ргәаланаршәеит... усҟан агәҿыӷьра захьӡызгьы рыздырамызт. Иахьа хәлаанӡа напышьашәала аус руан. Ианаахынҳәлак акуль-тура Ахан ахь ицон, рааԥсара зегьы рханаршҭуан алахҿыхра ирбоз. Ақыҭаҿы еиҿкааны ирымаз ашәаҳәареи акәашареи ансамбль уаха ирбар, уаҵәуха ақьачақьцәеи алафҳәаҩцәеи рыхәмарра иахәаԥшуан.

Page 280: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

280

Мчыбжьык ахь ҩынтә-хынтә, афильмқәа ааганы ид-дырбон.

– Ихьыҵәцараха игылаз Ахан, абас еиҭымызтәыз, шәаҳәабжьык ҩнымыҩуа ччара-гәырӷьарак ҩнымыҩуа, иҩнагылаз зегьы аадәылганы из-газ, Анцәа ҳазшаз дахьирхәааит ҳәа сшәихьан. Шәгәаламшәои? Сышәи наӡеит анцәа иҟынӡа... Баҭаҟәа данцәажәа ашьҭахь Кабыца иҳабла ҳәа изышьҭоу ныҳәаҩыс ирымоу дҩагылан зегьы ирылеиҳәеит.

– Уара ушәи акәӡам, сара сышәи ауп анцәа иҟынӡа инаӡаз, – иҳәан Ҷыӷьыц (аҷынҷа ҳәа шизырҳәоз еиԥш), дласӡа ахаҳә ду ашҭа ахан аԥхьа ишьҭаз днықәԥалан, зегьы дырбо-драҳауа – сара усҟан сшәиит, изгаз аагатәыс иоуа анцәа дҟаҵа ҳәа. Жәбома, сара сышәи ауп аус зуз. Изгаз аагатәыс иқәшәеит. «Баҭаҟәа убасҟак дицәымӷын. Изгоз абри иоуп ҳәа ихьыӡгьы ааҭкааны исҳәоит ҳәа дналагон еиԥш аамҭаз, Алиас ила иирбан, иҿы ааихеикит.

Баҭаҟәа игәы аангыларц егьигӡамызт иаҳақәаз рышь ҭахь, иара иҳәашьа, уи аҷынҷа-гәырмаҷга ихьӡ ааҭкааны иҳәар дхышәҭны дрымҵаҳауан агәараҳәа. Аха Алиас Ҷаӷьыц данааникыла, иԥсы аалеига-ҩеигеит.

– Иахьатәи ҳаицәажәара даара ибзиан. Ҳшеидгылаша, ҳшеибабаша, ҳаԥхьаҟа ҳшыҟалаша ҳҳәеит, уи бзиоуп, аӡә дмеибашьит, аӡәы ҽырчмазаҩ ҟаиҵеит, аӡә акы игеит, аӡә акы ифеит ҳәа ҳазҿқәоу ҳаарҟәаҵны, ҳнапы еикәыршаны ҳанхап, ҳанҵып, ҳчаирҭақәа ҳарҿыцып. Доусу иҳалшо ҟаҳҵап. Раԥхьа иргылан, иаҳхаҳмыршҭыроуп зыԥсадгьыл зхы ақәзҵаз аҷкәынцәа. Зыҷкәынцәа ҭа хаз аҭаацәарақәа, ҳара ҳамхқәа раԥхьа дара ртәқәа лаҳ ҵароуп, иаҳрашәароуп, ирызҭаагалароуп. Ичмазаҩхаз излаҳалшо ала ҳицхраароуп.

Page 281: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

281

Сара уаҵәы, ма уаҵәашьҭахь Аҟәаҟа сцароуп... Иахьа зегьы ҳаиқәшаҳаҭны абаҟа аргыларҭа аҭыԥ ылаҳхит, зегь шәақәшаҳаҭхеит. Сара Аҟәаҟа сцоит, абаҟа ҟаҵаҩцәа дареи сареи ҳаиқәшәараны ҳаҟоуп. Баҭаҟәа макьана имҳәац, ацхыраара ду ҟаиҵарц игәы ишҭоу здыруеит. Џьоукы цаны иҭынхадахаз абаҟақәа ӷьычны иааганы рабацәа ирхадыргыло-ит. Уи еиԥш ацәаԥҽыгара ҳара ҳаҷкәынцәа рзы иаҳзыҟаҵом.

Баҭаҟәа ихы иадҵаны дыҟоуп, иаб изы Житомирынтәи иааганы ихаиргылаз еиԥшу ахаҳә, убра дцаны иара ихарџьала иааигарц. Баҭаҟәа уажәыҵәҟьа иаб ибаҟа ыҵыҩрны иқәҳазшәа акәын ижәҩахырқәа леины дышгылаз.

– Игәы иҭоу иара иҳәааит, уара иабаудыруеи, – ҳәа аӡәы Баҭаҟәа иҿымҭра игәамԥхакәа даацәажәеит.

– Баҭаҟәеи сареи убасҟак ҳаизааигәахеит, ажәада ҳаилибакаауеит. Сгәы иҭоу иара идыруеит. Игәы иҭоу сара издыруеит, – иҳәеит Алиас.

«Уара уиашам, Алиас, уи еиԥш сара ианбауасҳәеи, сгәы иҭоу уара иалудыраауазеи, угәы ахы ҭашәааит», – ҳәа дизыҵҟьарц ақәикит, аха данынеиҿаԥш, «уа-ангыл, акәымзар исзуухьоу зегьы ажәлар рҿы исҳәоит», – ҳәа иҳәа рашәа илақәа ирхибааит.

Амшә иакыз дад инарҳәеит ҳәа шырҳәо еиԥш, дақә шаҳаҭымхар амуит, абаҟа злырхуа ахаҳә ахьыҵырхуа сцаны сара схарџь ала иаазгоит иҳәеит. Иҳәеит, аха ишԥеиҳәеи «ашьа»аҿыхны ауп ишиҳәаз.

Ахцәажәара зҭаххоз ҟалеит, аха иаадыруа зегьы иахьа иҳәаны ҳзалгарым. Уаҵәы, уаҵәашьҭахь зҳәаз еиԥш, иаҳҳәаша аанҳажьып. Иахьа абра иазҳархап иҳәан Алиас аизара аахиркәшеит. Адырҩаҽны шьыжьнатә аӡлагараҿы еизеит уҳәан-сҳәан бзиа избоз аӡә дагымкәа. Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы

Page 282: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

282

аӡлагара аӡы зҵабаз еиԥш излацәажәо ҳәа егь рымаӡамкәа иаанханы иҟан. Иахьа дара ртәы иа-кит. Шьыжьымҭан игылан ианаауаз (дара ишырҳәаз еиԥш, абга рԥылеит), аӡы аиҳәа иазымкуа агәгәаҳәа иаакылҟьаны афи-фиҳәа алуқәа алагара ианаладыр-го еиԥш, иацтәи ақыҭа еизара ирҳәаша меигӡарахда ирнаҭеит.

Еиҳараҩык ирҳәоз зызкыз Алиаси Баҭаҟәеи ртәы акәын. Аизараҿы урҭ аҩыџьа еибырҳәоз хәыц-хәыц еи ҩдыршәшәон.

– Аӡәыр шәгәы иаанагозма, Баҭаҟәа ажәлар акы дҳац храауа, акы дҳахәо, знымзар-зны дҟалоит ҳәа, – аӡәы иааиҿыҵшәан, инеимда-ааимдо уи алацәажәара иалагеит.

Ажәлар ҳаиҭахны дыҟазҭгьы ҳмал ифозма?Иахьа дҳацәнымхо ихы ҳирбоит. Уи аӡәыр агәра

шәызгома?Уи иахьа ажәлар ҳзы иҟаиҵо игәаԥханы иҟаиҵоит

ҳәа аӡәыр шәгәы иаанагома?Ажәлар ҳмал афара иаҿу Баҭаҟәа иузымгааит ҳәа

заҟаҩы дыршәихьада? Ихьӡазар? Зны-зынла ииҳәо дақәымшәо, иажәақәа еилаԥсо, акалашәа дшыҟалоз шәымбаӡои.

– Уаанӡа ус дҳамбацызт. Алиас дааижьҭеи ауп абас да ныҟалаз.

– Алиас дицәшәаны дыԥсуеит. Ииҳәарызеишь ҳәа иҿы дҭаԥшуеит.

– Ииашоуп иуҳәо, заҟантә идызбалахьоузеи, Али-ас даныччо, игәы иахәоит ҳәа, ишиҭахӡам иаргьы дицыччоит.

– Иацы аизараҿы иҟаиҵоз шәымбеит. Уи сара аус ицзухьеит, иҟазшьақәа акакала исзымдыруа егьыҟам. Иџьымшьқәа еилассы, зықьҩык дрылагы-лазаргьы дудыруеит. Игәы иахәаша ак аниаҳалак, иџьымшьқәа аҩада дырҩахоит, илахь иадҵаны

Page 283: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

283

реиԥхьышьшьаара далагон. Игәамԥхо ак аниаҳалак, дахан рыҵыркәкәаара далагоит. Иацтәи ҳаизара аан, ирлас ҳаилымгазҭгьы, иџьымшьқәа зегьы имаӡамызшәа иҵыхны даарылгон.

– Уи аӡәы ицәшәо иакәӡамызт, Алиас абасҟак дзи-цәшәозеи?

– Митәык ҟаҵаны ишимоу идыруазар ҟалап. – Ԥыҭ -ҩык аҳәаха рибамҭо иалацәажәон.

– Шәара ишәҳәо иашаӡам. Алиас иакәмызҭгьы, аԥхьа ҳанеизаз аҽныҵәҟьа имаҵура дамырху-ан. Аибашьцәа зегьы ааидгыланы, иахьарна-хыс дҳамбароуп рҳәеит. Аизара хзыркәшоз Али-ас иакәын, иахиҳәаауазеи ҳәа зегь изыԥшын. Ахәшьара ииҭаз шәгәаламшәои. Баҭаҟәа иусураҿы аԥышәа ду имоуп. Иҭыԥ аҿы дшыҟоу даанҳажьуеит, ҳара ҳидгыланы аус ицаауло-ит иҳәеит. Изгәамԥхақәаз рацәаҩхеит, аха Алиас ииҳәаз аӡәгьы дзахымԥеит. Иацтәи ҳаизараҿгьы, аԥхьатәи аан аҵкысгьы, рыҽдырцәгьеит. Аха Али-ас еиҭааникылт. Аҵыхәтәантәи аамҭазы ҳқыҭаҿы иҟалаз аиҭакрақәа, ахала иҟалаз џьышәшьома. Баҭаҟәа ибзоурала ауп излаҟалаз. Ҳаԥхьаҟагьы ажәлар ирыхәаша, ирзыҟасҵаша ҳәа агәҭак бзиа имоуп. Еиҭашәасҳәоит, иааҟаиҵахьоу зегьы, иара убасгьы, иҟаиҵараны иҟоугьы, иара ихарџьала ауп излаиҟаиҵо. Ҳаиԥырхагахарым, игәҭакқәа дырхьыҳагӡап, иҳәан, деиҭеихьчеит. Шәара Алиас игәра шәымгошәа ауп шәцәажәашьа шыҟоу, – рҳәан, џьоукы Баҭаҟәа дҳахьчоит ҳәа иалагеит.

– Баҭаҟәа, шәара шәаҵкыс еиӷьны ҳара даадыруе-ит. Зегьы иара ихарџьала иҟаиҵоит, – иҳәеит Алиас. Уи ус башамаша имал иҟьаӡом. Абга ахәыц алухра аҳа, акапеи кылҵәа ауаҩытәыҩса ииҭараны дыҟаӡам. Абаз каршәны аманаҭ шьҭызхуа иоуп. Абасҟак ииҟьо аԥара абантәиааигеи? Ҳара ҳмал еимиҵәаз иами?

Page 284: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

284

Ҳатракторқәа, ҳбульдозерқәа, аидарамҩангага амашьынақәа, иҳамаз зегьы Кәыдры нырцә инхоз аерманцәеи абырзенцәеи ираазырхәада, иара иами? Уажәы амалаҳәа ирхынҳәны ирҭарызу? Ирҳәахьеит, еиҭарҳәахьеит, иацгьы аизараҿы ирҳәеит (Шәара шәыҟамыз, ишәмаҳаи). Баҭаҟәа арҭқәа зегьы иҭахны акәӡам ишыҟаиҵо, аныха дыкны дамоушәа, мчык инарҟаҵоит. Уҽумрыцқьар џьаҳанымҟа уагоит ҳәа акы дыршәаны дамоуп, шәара хшыла даҳкәабоит ҳәа шәаҿуп, – рҳәан, гәыԥҩык Баҭаҟәа дзыхьчарц иалагаз ирҿагылт.

Абас, уи аҽны аӡлагара алуқәа ахьынӡагьежьуаз, «Баҭа ҟәа илагара иаҿын, зны иргәӡаны дырлагон, аҽазны ирџьаџьаны, аҵыхәтәан еиҟәырԥԥаны ила-гарахь ииасит. Аха, аӡлагара аӡы амҵәазшәа алуқәа аангылеит, амра аҭашәарахьы ахы анарха, уҳәан-сҳәанҳәацәа рҿы ҭхаан, уаҳа рылымшо аҟынӡа ине-ихьан. Ҳазхьымӡаз рацәоуп, уаҵәы иацаҳҵап рҳәан, еимпны ицеит... ирзымҳәакәа ирцәынхаз ргәы иша-лаз.

Уи аҽны, Баҭаҟәа аӡлагараҿы илагара ианаҿыз, иара икабинет аҿы ихы кны дтәан, Алиас цәгьарас иҵазгаларызеи ҳәа. Дысԥырсымгар, дсыӷрыӡаараны дыҟаӡам. Аха иазыскрыда ҳәа дазхәыцуа дтәан.

...Алиаси Ҟанчобеи, аԥхьатәи аизара ашьҭахь, знык иадамхаргьы, еиқәшәаны еицәажәо изыҟамлеит. Ҟанчобеи ишьапқәа дыркын, иҩны ашҭа дынҭыҵны ашә аҟынӡа дзымнеиуа дҟалеит. Алиас тәамҩахә имаӡамкәа ақыҭа далан. Иани иабиҵәҟьагьы ргәазхара дрымбацызт. Аҩынтә раан ирымаз аизара шааилгаз еиԥш, Ҟанчобеи ишҟа дце-ит.

Ҟанчобеи даара деигәырӷьеит Алиас ибара. – Шәышԥеилгеи? Салахәзарц сҭахын, аха

сшьапқәа сара саԥхьа иажәит.

Page 285: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

285

– Уи азын ишәҳәахьоу сгәалашәоит. Хыла уажәыр аҵкыс, шьапыла уажәыр еиӷьуп ҳәа ҳабацәа ражәа иалан. Шәыхшыҩ акәын иҳалашәҵарц иаҳҭахыз.

– Уи ухы абзиараз иуҳәоит, сшажәыз сурдырыц уҭахым. Уи акәым, аҵыхәтәантәи шәеизара шԥацеи? Уи ауп сгәы иҵхо.

– Шәгәы ишаҭаххашаз ицеит.– Аура ашаха азԥымҵәеит, ус аума?– Ааи, шәара ишышәҳәоз иҟалеит. «Аура шаха

баала иркуеит»ҳәа ажәаԥҟа, ҳажәлар ирымоу, ухы иархәа ҳәа сашәымҳәахьази. Ибзианы схы иасырхәеит.

Аԥхьаҵәҟьа иззеилымкааз рацәаҩхеит. Ауаҩ изаамхәаз, уаҩы изымҭиуаз Алиас, зегь ҳзықәгәыӷуаз, Баҭаҟәа ҳқыҭа амал зегьы еимызҵәаз дааихәеит ҳәа. Абахҭа иҭактәыз ауаҩы ихьчара даҿуп ҳәа агәынамӡара шрымаз заҟаҩы исарҳәазеи. Урҭ зегьы ҭакс ирысҭоз удыруама, уара уажәақәа роуп. «Дҭаҳкыр, ҳара иҳауазеи? Иус ӡбаны, иигаз ирхынҳәны иаадыргап ҳәа шәыҟоума. Иахьатәи аамҭа злаҟоу ала, ажәлар рмал уфеит ҳәа аӡәыр дҭаркхьоума? Ахҿыхшьа рдыруеит. Уи азы иаҭаху аҟәрышь дара ирымоуп меигӡарахда. Жәлар рмал згаз ишигаз еиԥш иара имырхынҳәыр амуа дҭаргылатәуп», ҳәа ҳхала ҳанааизынха исоуҳәаз. Абри абас иҳәеит, аха дзықәгәыӷуа имоузеи ҳәа сшыҟаз, алымҳаҭас соуит, Баҭаҟәа иҵыхәа ԥҵәеит ҳәа.

Алиас аизараҿы ишиҳәахьаз еиԥш, абаҟаҟаҵаҩ дишьҭаланы Аҟәаҟа дцарц иҩны дындәылҵын, амҩаду аҟынӡа днаӡарц егьшигмыз, Даҭа игәыла ԥҳәыск дааи ԥылт, аԥш лагара илыман дцон аӡлагарахь. Аԥсшәа шааи бырҳәаз еиԥш, бгәыла Даҭа дышԥаҟоу ҳәа длызҵааит.

– Абарҭ амшқәа рзы инеиужьны дышьҭоуп. Иу-хьызеи ҳәа ҳаниазҵаалак, акгьы сыхьӡом, иҳәоит.

Page 286: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

286

Икрыфарагьы ссахьеит, ԥасеиԥш иҟаӡам. Ихәы ҟаҵаны ианизназгалак, ҿаҵак ҩ-ҿаҵак аамихуеит. Исызхоит иҳәоит. Абас дҟалеит, – лҳәеит.

Саргьы снахнага-аахнаган, мчыбжьык инеиҳангьы иҵуеит снеины дысзымбеижьҭеи, – иаҳаз ааицәымыӷхеит Алиас.

– Уи акәхап, иацы, аҩны иҟоу (лхаҵа) аусҳәарҭахь дылбааны дыҟан. Дшаахынҳәыз еиԥш, иба-ра ҳәа дахьнеиз, уахьыҟаз Алиас џьаракыр дуба-зар ҳәа дизҵааит. Иҷкәын иеиԥш уибоит. Зегьы иҳамдыруеи. Угәхьааигоит.

Уи аԥҳәыс абас аниалҳәа ашьҭахь, Алиас Аҟәаҟа ацара даҟәыҵны, даақәгьежьаан, Даҭа ибара дцеит.

Даҭа дықьуа-дӷызуа дышиаз, Алиас данааҩнала, ақь рагьы даҟәыҵит, аӷызрагьы даҟәыҵит. Иараз-нак игәы хтит, илақәа аатит. Ибара агәахәара инаҭаз ихы-иҿы ианыԥшит.

– Уажәыҵәҟьа шәызхьаауазеи? – дазҵааит игәы аҵа ҟынӡа днаганы дрыцҳашьо.

– Ауаҩыдароуп сызхьаауа... Уи ахьаақәа зе-гьы иреицәоу акоуп. Агәылацәа ааиуеит, сырбоит, сраҳауеит, нап сыгрыжьӡом, аха уара уанызблак, иара ахәаша дгыланы даазшәа аҟынӡа сгәы иабо са-лагоит.

– Ишәзаазгаз ахәшәқәа нҵәахьоума? Иахьа Аҟәаҟа сцараны сыҟоуп, ишәҭаху шәҳәар иаазгоит.

– Уи макьана инымҵәаӡац, аҽа мызкгьы исызха-ша аанханы иҟоуп. Сычмазаҩны сзымгыло сышьҭоу џьушьоит. Акгьы сыхьӡом, усцәымшәан. Амала уз-барц заҟа исҭахыз удыруама, мчыбжьык аахыс дан-баауеишь ҳәа сузыԥшын.

– Саргьы исҭахын шәбара, шәысхашҭыз џьышәым шьан. Снабжьҟьаны сааратәы еиԥш аамҭа смоуит.

Page 287: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

287

– Уара убара есымшагьы исҭахуп, аха мчыбжьык аахыс убара цәгьалаҵәҟьа саргәаҟуан, акы уасҳәарц сҭахын. Иуасҳәаанӡа сыԥсыр ҳәа сшәаны сыҟан.

– Лассы-лассы сааны шәахьысымбо азы гәыбӷан шсышәҭо атәы аума исашәҳәарцы ишәҭаху? Гәыбӷан акәым, саашәмышьҭыргьы сықәнагоит. Иаашәҳәо зегь сыдыскылоит. Игәалаҟазаара зынӡа ишыцәгьамыз аниба иаԥхьа даатәеит.

– Уара гәыбӷан усҭо анцәа имҳәааит... уи акәӡам. Иацуха ԥхыӡк збан, иуасҳәарц сҭахуп.

Аԥхыӡ бзиа жәбааит, сышәзыӡырҩуеит. – Кәыркәа ашоураз акәхуп. Ҭаацәала зегьы

ҳаибгоуп. Сафарбеи иани сареи шьыбжьагәазы ҳаҩны ашҭаҿы игылоу ахьацаҵла ду ашәшьыра ҳаҵатәахуп. Ҳаҷкәын ҳанбаиргәырӷьои, шьҭа иаамҭоуп аԥхәысаагара ҳәа ҳалацәажәахуеит. Убри аамҭаз, иаргьы уаргьы шәыҽқәа шәыҵакәашо, шәеибаргәырӷьо ашҭа шәааҭалахит. Уара уааҽыжәԥан, бзиак ҳауҳәарц ушааз мҩашьо, учча-ччо уааҳадгылахит. Иара дҽыжәымҵӡакәа, ҳашҟагьы дымԥшӡакәа, аҩны ашьҭахьҟа днавалахит.

«Ари иҟаиҵо змааноузеи, дҳавсны, дҳахәамԥшӡакәа дышԥацеи, маҳәра иуашәа», – ҳҳәахит иани сареи ҳаихы хәмаруа.

«– Шәара шәыхәмаруеит, аха иара дыхәмарӡом. Иаарласны аҭаца дшәоураны шәыҟоуп, уи азо-уп дыԥхашьаны шәышҟа дызцәырымҵуа», – ҳәа ҳауҳәахит. Ҳаргьы уахи-ҽни ҳаԥшымзи ҳанбагәырӷьои ҳәа ҳҳәахын, ажәҩан ахь ҳзымԥрит, уаҳа егьҳагымхеит. Илхузеи, илҵыхәоузеи, дзыжәлада, дабанӡатәиу. Лани лаби зусҭцәада ҳәа уазҵаара ҳалагахит. Уакуа-уашьҭуа, аҳәара уҭахымшәа уааҟалахт азныказы, нас дхаратәуп. Дхазыноуп, лангьы дыҟоуп, лабгьы дыҟоуп, уаа бзиақәоуп ҳәа ҳауҳәеит.

Page 288: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

288

Даԥсыуаӡами? Аԥснытәӡами? – ҳәа ухҭакны иан уазҵаара далагахит.

Мап, Аԥснытәӡам, аха ӡӷаб ссирӡак лоуп уҳәахит.Аԥсны дуӡӡа иара изы ӡӷабк дҟамлаӡеи ҳәа даа-

ра илгәамԥхахит... Аԥхьа дааӷьаԥчаԥшәа луит, аха иаразнак лгәы хьаԥссан, иан дикәыхшоуп, иара дигәаԥхазар дааигааит, лҳәан дгәырӷьан, дыҩны дишьҭалахит. Исымбаӡо ицахит иани иареи.

Сара скажьны иабацеи сҳәахын, срышьҭалахит. Убри аамҭаз сааԥшит. Смааԥшӡакәа усҟан снышьҭаԥсны сцазҭгьы шԥабзиахоз. Џьарак ҳаицыҟамлози иҳәан игәы ирԥ шаауа далагеит.

– Шәара агәыӷәӷәа змоу ҳәа ауп шәшырдыруа зыҷкәынцәа ҭахаз, абацәа агәырҩа зманы аду-неи ақәзаара зҭахымкәа аҟынӡа инанагахьоу, заҟаҩы шәрылабжьаны агәырҩа иацәыжәгахьада. Заҟаҩы рыԥсы шәаԥшәымахахьада. Шәара азин шәымам агәкажьра. Сафарбеи еиԥш зыхьӡ кашәара ақәым афырхаҵа иаб, шәҿырԥшыганы шәшыҟоу шәаанхароуп.

– Сызҭахыда шьҭа сара? – игәы изеиқәҳәаломызт. Илаӷырӡ намышьҭыкәа иааникылон, Алиас исырбом ҳәа.

– Шәызҭаху рацәоуп. Ҳаԥхьаҟа еиҳагьы ирацәаҩхоит. Афырхаҵа иаб даабароуп ҳәа харантәигьы ишәзаауа иалагоит. Ибаҟа зегьы иаарылыҳәҳәо ақыҭа агәҭаны иргылахоит. Ҿыц еибаго арԥызбеи аԥҳәызбеи рчара аҽны азагсахь ицаанӡа, Сафарбеи ибаҟа аԥхьа игыланы, ҳарҭ, аҿар, уҿаԥхьа ҭоуба аауеит, уфырхаҵареи уԥсадгьыл аб-зиабареи ҳҽаԥсаҳтәуеит ҳәа. Шәара макьаназ зыԥсы ҭоу абаҟа еиԥш шәҳамазароуп.

– Даанӡа умнеиааит, уара уакәхап уи еиԥш аԥшьызгаз. – Арҭ ажәақәа игәы дырӷәӷәан, ибӷагьы ааиҵихит.

Page 289: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

289

Даҭа ега игәы каҳаны дыҟазаргьы, Алиас дааны днаидтәалан, аибашьраан Сафарбеи ажәыларақәа рҿы иааирԥшуаз афырхаҵарақәа ртәы алацәажәара даналагалак, игәы шьҭнахуан, агәырҩа хьамҭақәа имаз, аамҭала акәзаргьы, иханаршҭуан.

– Ишуасҳәахьоу еиԥш, мчыбжьык аахыс убара сар гәаҟуан. Уи аԥхыӡ збеижьҭеи акалашәа сҟалеит. Аԥхыӡ акрадыруама, азхәыцра иаԥсаӡам зҳәақәо ыҟоуп. Аха сара аԥхыӡ акы адыруа џьысшьоит. Маа-нак аҵамкәа иҟа ӡам.

– Саҭашәымҵан. Сара аԥхыӡ иаанаго здыруа сакәӡам. – Даахыхәмаршәа иуит Алиас.

– Саргьы ус аԥхыӡ агәра згаӡомызт, акы адыру-еит ҳәа сыҟамызт, аха аҵыхәтәантәи сыԥхыӡ баша исымбаӡеит, ак иамааноуп. Ауаҩы дгәаҟуа акы данашьҭоу, аԥхыӡгьы агәра иго аҟынӡа днанагоит. «Сафарбеи иааиго дхаратәуп»ҳәа ԥхыӡла иани са-реи иҳауҳәаз санааԥш нахыс азхәыцра саҿуп. Схы иҭымҵуа иҭагьежьуа иҭоуп. Уи даара иуасҳәарц зысҭаххаз, иареи уареи шәанхәыҷыз инаркны шәеицын, шәеизааигәан, еицшәызҳаит. Ашкол шәаналга ашьҭахьгьы Аҟәа аҵара еицышәҵон. Џьарак шәеицынхон. Адунеи аҵыхәан инар-кны аԥсшьацәа ҵҩа змамыз Аҟәа иаауан. Шәара шәыҷкәынцәан, шәшьа шуан, шәда шуан. Џьоуки шәареи шәеибамдыркәа, шәеицымныҟәацкәа шәҟаларымызт. Изхысҳәаауа, ари ахәаша џьара аӡәы лҟны уск иман дыҟазҭгьы уара иузымдырц залшом. Ус аӡәы дыҟан удыруазар, адунеи аҵыхәан дынхо-заргьы, слаба сҽанҵаны акәзаргьы слызцоит. Аԥхыӡ избаз заҟа алабҿаба иазааигәоу уазхәыци, лыҷкәын данҭаха ашьҭахь ларгьы дишьҭалан дцеит. Уи акы, ҩба – «харатәуп»ҳәа ԥхыӡла иҳауҳәаз лабҿабахар ауеит. Уаанӡа иазысымкыцыз ҳәа иҟадаз, ҳқыҭаҿы ԥҳәызбаки иареи еигәаԥхеибашьо иҟазҭгьы,

Page 290: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

290

исзеилышәкаа ҳәа. Аҭыԥҳацәа ссирқәа маҷҩык ыҟазма, аха аӡәгьы лҿы ус имаӡамызт. Дызгәаԥхоз рацәаҩызаарын, аха иара уи аганахь иҿы иааҭыхны ажәак аӡәгьы илеимҳәаӡацзаарын ҳәа сарҳәеит. Араҟагьы исзамуит, ус аӡә даацәырҵызҭгьы (уи еиԥшқәа ҟамлахьеи), сара иара ишҟа сцаанӡа сыԥсы агәыцә даларгыланы дсымазаауан. Аха уи еиԥш аразҟы иаргьы саргьы иҳамамзаарын.

Ицәа зхызбаауа ҳәа исзаанханы иҟоу, иԥсы злаз иҽы заҵәык ауп. Ианызбалак иара дызбазшәа сгәы ҟалоит, аха лассы-лассы избаӡом.

– Имааижьҭеи акрыҵуама? – Алиас иааи-цәымыӷхеит.

– Аӷьычцәа, ауаҩра зцәыӡхьоу, ани итәуп ари итәуп ҳәа иҟоума. Иргазар ҳәа сшәоит. Иҟамижьҭеи шьҭа мызкы аҵкыс еиҳауп. Аҵыхәтәан ианызбаз, ишааз, ишцаз атәы уахгьы-ҽынгьы сыбла ихгылоуп. Шарԥазык иаакылсын, агәашә иадгыланы акьыр-кьырра иалагеит. Абжьы шсаҳаз еиԥш, Ҟәараса шакәыз здырын, сеиханы саԥылеит. Снеины сана-адгыла, акьыркьырра иааҟәыҵит. Ус иҟанаҵо сым-бацызт. Иааиуан, агәашә иаадгылон, ашьҭыбжь снарҳаӡомызт, ахы насырбаны иаахынҳәны ицон.

Уажәы имыццакӡакәа игылан. Акы санаҳәарц аҭа-хызшәа алақәа рыҭра иҭаргьежьуа. Исоуҳәозеи? Уԥсы шԥаҭоу ҳәа субарц уаама ҳәа ацәажәара салагеит. Даара игәхьааганы сыҟан. Схы-сгәы аасханаршҭын, снадгылан, ахы шьшьуа, ахәда снапқәа акәыршаны ианаа сгәыдсыҳәҳәала, исықәлашьцаны скаҳарц егьаасыгымхеит. Аҽаарҵысыр скаҳауан, аха аҽсыдырӷәӷәаланы иаа гылт сканамыжьырц иаҿызшәа... – дызлагаз нагӡаны игәы инамырҳәо аҟынӡа даннеи даангылт.

– Шәгәы шәзырхьша иадыжәбалазеи?

Page 291: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

291

– Аԥырцәқәа ԥаны ишақәыз збеит. Уаанӡагьы знык избахьан. Усҟан аибашьра ҟамлаӡацызт. Иа-разнак сыбла иаахгылт. Шьыбжьхьа сахьӡоит ҳәа шьыжьымҭанӡа дгылан, акрымфаӡакәа аусурахь дце-ит. Шьыбжьышьҭахь ҟалахьеит, дыҟаӡам ҳәа иани сареи ҳшизыԥшыз, дыхәмаруа, агәалаҟазаара бзиа иманы ашҭа дааҭалеит. Дҽыжәҵаанӡа иаабеит иҽы аԥрыцәқәа ԥаны ишақәыз. Иан ари анылба иҽгьы иаргьы рыкәшара далагеит. Анкьа ус акәын ишыҟаз, аҷкәыни аӡӷаби еигәаԥхеибашьо ианалагалак, аҷкәын ажәа хаала дхыхны аҿа лирҳәарц иҽишәон. Аха аӡӷаб, аԥсуа ҩнаҭа иааӡаз лакәзар, дыԥхашьаны, уда схәарҭам ҳәа, иахьатәи аҳәсахәыҷқәа ишыҟарҵо еиԥш, дыԥан ихәда дахьынҳалаӡомызт. Лышьи-лы-шьи еиқәҵо иара днаидҵны иҽы днадгылон ахы шьышьуа, иара имырбаӡакәа дыццакны, аԥрыцәқәа аанкыланы, абырфын чабрала иԥшӡаӡа илԥон. Уи ала илырдыруан аҿа шилҭаз.

...Ан лыҷкәын иҽы аԥрыцәқәа чабра ԥшӡала иԥаны ианылба, аҭаца даҳзааигоит, Қәабчараҟа ухы рханы узгылоузеи? Арахь уааԥшы лҳәан, аҽы аԥрыцәқәа сырбара далагеит. Аҭаца дрыман ашҭа иҭалазшәа дгәырӷьон. Саргьы лара леиԥш акәын сгәы шыҟаз, аха адәахьала исынсырԥшуамызт. Аԥсуа ҵасла аб ишиаҳауа иҷкәын аԥҳәысаагара атәы далацәажәомызт, иԥхашьароуп ҳәа иршьон.

Ан рыцҳа зынӡа дикәҵәашаны дылкит, дабатәиу, илхузеи, илҵыхәоузеи, илыжәлозеи, данбаҳзааугои ҳәа...

Ҟәараса базҵаа, иареи лареи роуп еицәажәаз, аҿҳәарагьы ԥызҵәараны иҟоу иара ауп иҳәеит дахыхәмаруа. Изаалымгаз, иҵалымгалаз ҳәа иҟоузеи, аха лыхьӡгьы, лыжәлагьы, дахьатәизгьы имҳәеит. Рацәакгьы даанымхеит, сыццакуеит, аусқәа сымоуп иҳәан, иангьы саргьы ҳагәқәа ҭгәырӷьаауа

Page 292: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

292

ҳааҟаҵаны дцеит. Уи ашьҭахь иҟалаз усгьы иудыру-еит. Аԥҳәысаагара шәазхәыцуа шәҟалама. Уахгьы-ҽынгьы ахы шәаҿагылан.

Убри аахыс аԥрыцәқәа ԥаны ишақәу иаанха-ны иҟоума иахьанӡагьы? – Алиас акыр шықәса игәаҵанӡа иҭаҵәахны имаз маӡак аҽарҿыцын, ицәеи-ижьи иалаланы, ихы инаркны ишьапаҟынӡа дааимнадеит, Даҭа Ҟәараса аԥрыцәқәа ртәы аниҳәа.

– Уи анбатәи аамҭоу. Иуасымҳәеит, аԥхьа аԥрыцә ԥа ны ианаабаз аибашьра ҟалаанӡа акәын. Уи ашьҭахьгьы иԥымтлакәа иаанханы иҟан.

– Уи саргьы исгәалашәоит. Сафарбеи аӡы данаҳцәагаз ауха ауп ианызбаз Ҟәараса аԥрыцәқәа ԥаны ишақәыз.

– Аӡы дахьамаз аԥшаанӡа аԥрыцә ԥаны ишақәыз иақәын. Аӡыжь аҵан дшамаз анаба, изларҳәо ала, убасҟак абжьы цәгьахеит, Кәыдры нырцә игы-лаз ираҳауан рҳәеит. Аԥсра иақәшәаз аӡәы иеиԥш, аӡыжь ихықәгылаз аҵла ахы аннаҟьон рҳәеит. Ахы шкыднаҟьоз аԥрыцәқәа ԥытлеит. Еилажәжәа иҟалеит. Иалаԥаз ачабра амҵын аӡы ихшәалазаап. Сандра дахьӡаны аӡы иамихит. Данааргоз ицаарге-ит. Даныржузагьы ицыржит. Цакыс иамаз зегьы ир-дыруан, аха изԥаз дырзымԥшааит. Аҵыхәтәан иааит ҳәа санаҿугьы аԥрыцәқәа ҿыц иԥаны иақәын, сгәы ҭҵәыуо сахьахәаԥшуаз аԥхьатәигьы уажәтәигьы напык иаԥазшәа ауп ишызбаз. Самыртәеит, са-мыргылеит. Сгәы иснаҭо салагеит аҿа изҭахьаз аӡәы иахьагьы лгәы дыҭнымҵәо дҭоуп ҳәа. Аха игәаӷьны илзымҳәо даанханы дыҟазар ҟалап сҳәан, илышьҭасҵеит ҳауацәа, ҳҭынхацәа. Аха ҳқыҭаҿы уи леиԥш аӡәгьы даҳзымԥшааит ҳәа сарҳәеит. Уи шьҭа уаҳа дцәырымҵуазар акәхап, гәыбӷансгьы илуҭозеи, лразҟы ҿаҟәаны иаанлыжьуама.

Page 293: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

293

– Сара уажәыҵәҟьа сызшьуа Ҟәараса ауп. Абасҟак аамҭа ианымаа, иӷьычны иргазар ҳәа сшәоит. Уи акәын ԥсеивгагас исымаз. Ианааилак сацәажәо са-лагон. Игылан исзыӡырыҩуан, сгәырҩа хнаҽуазшәа збон.

– Аҟәантәи сшаахынҳәлак еиԥш сашьҭалоит. Иахьыҟазаалакгьы исыԥшаауеит. Сшәыҳәоит, шәгәы кашәмыжьын.

– Амҩа умоуп. Уныскылеит. Угәы ԥысҵәазар ҟалап. Узқәыло амҩа маншәалахааит! Аҩны сыҩнаханы сыҟоуп. Ишуҳәаз еиԥш, ибаҟа ргылан ианыҟала нахыс, ишҟа амҩа сықәзаауеит. Сахьне-иуа, иԥсы ҭаны дысԥылошәа, ахаҳәи сареи ҳазхара ҳаицәажәалап. Уца, дад, уца, амҩа бзиа уқәлааит! Амҩа уахьынӡақәу сыԥхыӡгьы наугәаларшәала. Адунеи аҿы иҟамло егьыҟаӡам. Зны-зынла ауаҩы дшымгәыӷӡо, ацәгьара дшақәшәо еиԥш, абзиарагьы дшазыԥшӡам данақәшәогьы ҟалоит, – иҳәан, Алиас дныҳәаныԥхьан, агәашә дыҭганы доуижьит.

Алиас амҩа дахьынӡақәыз дзызхәыцуаз Даҭа иԥхыӡ акәын. Ашкол иалганы Аҟәаҟа ианца нахыс, аҵара ахьынӡарҵоз, хатәы ҩнык аҿы уадак аанкы-лан еицынхон. Аԥхьатәи амшқәа инадыркны рҵара иаалгаанӡа иахьцоз, иахьаауаз, изацәажәоз, ԥарада ианаанхалоз асқьалаҿы ицаны аӷба ааҵәақәа ақәхны аԥара шдырҳауаз, инадкылан шьаҿас иаархыргахьаз зегьы игәалаиршәон. Аха ихашҭхьаз даара ирацәан.

Оумак аамҭа бжьымсыцызт, Аҟәа аҵара анеицырҵоз аахыс, аха уи ашьҭахь ахамышҭыхә ихи-геит, аԥсра аҟынӡа днеины дхынҳәит, изныкымкәа-иҩынтәымкәа. Акы злеигәалашәозеи иара усгьы. Ибӷа еихҵәаны еиԥыршьхьеит, ихы еихыхны иха-дыргылахьеит. Деиқәхоит ҳәа иҟадаз.

Даҭеи иареи реицәажәара ихы-игәы зегьы аанарҳәит. Убасҟак дрыцҳаишьеит, игәырҩа

Page 294: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

294

шыхнаҽуа идыруазҭгьы, ижьы ԥҟатәызар деигӡомызт. Уи ауханӡа Алиас агәра ганы дыҟан Сафарбеии Шьазинеи бзиа еибабон ҳәа, аибашьра ҟамлазҭгьы еибагон ҳәа. Зныкымкәа иақәикхьан Шьазина зны-зынла даалома, шәылбалома ҳәа дизҵаарц, аха изымгәаӷьит. Ихала иҳәозар ҳәа дыԥшын.

Ус ирқьабзуп аԥсуаа. Иҳәаны итәоу аԥҳәызба уи еиԥш арыцҳара анылзыҟалалак, дызгараны иҟаз иани иаби, лара лтәқәа реиԥш иԥхьаӡаны, илбо дала-гон. Уи ауаҩра ду ацын. Агәаҟра ззыҟалаз ргәы абаа-уан. Ҭынхаҵас дырбон. Рыԥсы ахьынӡаҭаз рыҷкәын ицәа лхырбаауан.

Даҭа зынӡа даламцәажәаӡеит, лыхьӡыҵәҟьагьы џьара иажәа иалаимҵеит.

Сафарбеии Шьазинеи аҿа еимырдахьазҭгьы, иан лаҳәшьаԥҳа илзымдыруа ҟалашьа амаӡамызт. Шьазинеи лареи еиҩызцәан, еизааигәан. Уахгьы-ҽынгьы еицын, бзиа еибабон. Аӡӷабцәа зегь еиԥшуп ҳәа рзуҳәар ҟалоит. Абзиабара рзыҵәахӡом. Иахьа аӡәы бзиа дылбар уаҵәы лҩыза илалымҳәар лгәы иауӡом. Сафарбеи иан лаҳәшьаԥҳа урҭ ак шры-маз лдырузҭгьы, иани иаби иралымҳәар луазма. Ус ак ыҟазҭгьы, Даҭа иҷкәын ицәа лхибаауа (иара иҳәашьа), иԥҳа леиԥш дибо даламгози. Игәырҩа мыршьыган изыҟамлози. Алиас, Аҟәа дазааигәахо даналага, аҽа хәыцрак ахь дагеит. «Абасҟак аамҭа сгәаҵаҿы иҭаҵәахны исымаз, ахаан цәыргашьа сзаҭом, сыԥсуазаргьы исыцыԥсааит ҳәа акәын сшыҟаз. Иахьанӡа сцәанырра сжьаны самазаарын. Шьазинеи Сафарбеии аиҩызара акәзаарын ирзеи-лаз».

Абыжьбатәи акласс аҟны иантәаз инар-кны еицыкәашон. Ашкол аҿы еиҿкааны ирымаз акәашаратә кружок иалан. Усҟан хәыҷҵас акәын

Page 295: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

295

реибабашьа шыҟаз, ахәыҷра анаҩс аҽак ыҟоуп ҳәа рцәагьы иаламшәацызт.

Ажәеизатәи акласс аҟынӡа ианнеи, уаанӡатәи рхәыҷра рышьҭахьҟа иаанхеит.. Ирызгәамҭаӡакәа реибабашьа, реизыҟазаашьа аҽаԥсахит.

Аԥхьа хәыҷқәаҵас акәызҭгьы ишеицыкәашоз (хҩык рыкәашара ахьӡын аханатә аахыс инарыгӡоз аномер), уажәы еидыҽырбало, рыкәашара зынӡа аҽакхеит. Алиаси Сафарбеии ҷкәынцәа наӡааӡахеит, еихатыруа, еихышәашәо ршьапқәа адашь-ма иқәдмырсӡошәа, ахәаԥшҩы илаԥш рхьымӡо, рӡарақәа ҭкәыцәаа, Шьазина ҭыԥҳанаӡак леиԥш дше-ишеиуа, иаалыкәыршаны ирлашо, рыгәҭа дыбжьар-гылан асцена ианаақәлалак, ирыхәаԥшуаз шанхон. Убасҟак еинаалан, убасҟак еиқәшәаны еицыкәашон.

Араионтә олимпиадахь ицараны иҟан (Уи аԥхьагьы знык-ҩынтә рҽаладырхәхьан, аԥхьахәқәагьы рҽаԥсар тәхьан).

Уажәыгьы ижәгароуп аԥхьахә ҳәа акәашара иазыҟа зҵоз, аурокқәа рышьҭахь иаанкыланы, тәамҩахә рымҭа ӡакәа разыҟаҵара даҿын.

Аԥхын шоура ааԥынрахь иааскьан, амра кыдшәома уҳәаратәы еиԥш ашоура аҽарцәгьеит. Алиаси Сафарбеии хыхьтәи рымаҭәақәа ршәырхын, амаӷрахҵәақәа рыла иқәлеит. Шьазина дыԥхашьан ус лзыҟамҵеит.

– Иахьа аԥхӡы ӷәӷәаны ишәылсхраны сыҟоуп. Мчыбжьык ауп иаҳзаанхаз. Ибзианы ҳҽазыҟаҳҵароуп, Шьазина баргьы хыхьтәи бымаҭәа бшәыхны маӷра хҵәала бықәлар бзеиӷьхоит ҳәа сгәы иаанагоит, – иҳәеит азыҟаҵаҩ.

Шьазина азныказы дыԥхашьан, мап лкит.– Бҩызцәа роуп, бырцәыԥхашьома, сара бара

бзоуп изысҳәо, – аниҳәа, ишылҭахӡамыз, лырҵаҩ илеиҳәаз дақә-шаҳаҭхеит.

Page 296: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

296

Аҽыԥсахырҭа ауадахь дцеит, аха лассы дыхнымҳәӡеит. Алиаси Сафарбеии дынзырхазеи ҳәа игылан ишылзыԥшыз, амаӷра хҵәа акофҭа шкәакәа, лцәа иадшәало, лышәҵаны данаацәырҵ, аҩыџьагьы шанханы иаанхеит. Ианхәыҷқәаз аахыс есымша ир-боз лакәӡамкәа, зынӡа аҽаӡәызшәа, дкаԥха-каҷҷо рыбла даахгылт. Уамашәа дбаны ишлы хәаԥшуаз анылба лхы агарҭа лмоуа дааҟалеит.

– Шәызгылоузеи, шәнеиҿаԥшы-ааиҿаԥшуа, иахьа шәеи-бабазшәа. Шәалага акәашара ҳәа азыҟаҵаҩ ибжьы рықәимыргазҭгьы, рылаԥшқәа еидхала-ны ишгылаз иаанхон. Ибжьы ацәа иаалнахызшәа рылаԥш аалҟәырган, акәашара иалагеит, иалагеит аха ишԥалагеи, иқәԥрааны ицап уҳәарын.

– Шәтемп аашәырмаҷ, шәыццакцәоит. Иахьа шәыкәа шашьа уамашәа избоит, шәыццакцәоит, ишәыҵалаз сыздырам, акы шәырԥыруа шәамоушәа збоит, – иҳәеит. Рырҵаҩ ииҳәаз иаанарԥшызшәа Шьазина рылаԥш аалҟәырган ԥасеиԥш лыцкәашара иалагеит. Ларгьы аԥарԥалыкь еиԥш дԥырԥыруа дна-рыбжьалт.

Зынӡа рхы, ргәы ишҭаӡамыз абзиабара аацәырҟьан, Алиаси Сафарбеии бзиа деицырбеит Шьазина. Арыжәтә џьбара зылсыз иеиԥш ршьапқәа еилаԥсо лыцкәашара иаҿын. Шьазинагьы, абжьааԥны еиԥш акәӡамкәа, зынӡа дышьҭыԥраауа, зны лыблақәа Али-ас идхало, аҽазны Сафарбеи иахь ирԥшуа дрыбжьан. Абас еивагьежьны ишыкәашоз ауп Алиаси Шьазинеи рмахәарқәа шеидкьыслаз, аҽыԥҳәа амца нарыхҟьаны ицазшәа рбеит аҩыџьагьы. Инеиҿаԥшит. Ирыхьыз рзымдырит. Аԥхьа усшәа рбеит, кәицк нарыцрасны ирылҟьан ицазшәа, аха аҩыџьагьы рыхқәа ирҩахан ианааиҿаԥш, уи акәиц џьаргьы имцаӡакәа, ихааӡа, иԥхаӡа рцәеи ржьи иалсны инеины ргәаҵан аҭыԥ ааннакылт.

Page 297: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

297

Баша ирымҳәозаап, – абзиабара анаауеи иан-цои ҳәа аамҭак алхны иамаӡам ҳәа. Иахьхәыҵҟьои, ианхәыҵҟьои аӡәгьы издырӡом. Уи азы акәзар акәхап, абзиабара агәра агара цәгьоуп. Зегьынџьара акәымзаргьы, џьара-џьара аашьа ацашьахоит зырҳәо.

Алиас ацәанырра иоуз атәы Шьазина ажәакгьы леим ҳәеит. Абжьаратә школ ианалагоз аҽны иласҳәоит ҳәа игәы иҭакны иман.

Уаанӡа изирхаразгьы, Сафрабеи диԥыҩлар ҳәа дшәеит. Иара Шьазина дылҿыԥсаауа бзиа дшибаз еиԥш, Сафарбеигьы бзиа дшибаз иныруа далагеит. Зныкымкәа, ҩынтәымкәа рылаԥшқәа рзеиҟәымго, ҿымҭӡакәа гәыла мацара абзиабара ишалацәажәоз ибахьан.

Уинахыс Алиас блак ала акәын дышлыхәаԥшуаз Шьазина. Абзиабара зхыжжы ицоз ианхәыҷқәазтәи реибабашьа акәын илақәа ирхубаауаз.

Сафарбеи иразҟы даԥырхагахар ҳәа дшәан, изаҟа-разаалак ак инимырԥшит. Шьазина лыӡбахәгьы знык даламцәажәеит.

Ҳаҷкәынцәа еишьцәаҵас еибабоит, аҳәсагьы еи-цааргароуп ҳәа акәын ишырҳәоз Алиаси Сафарбеии рабацәа. Иҟаларын ус егьыҟарҵаргьы, аҩыџьагьы аԥҳәысаагара ишҭагылаз... Аибашьра, шәиԥхьыӡ згымхаша, заҟаҩы ргәахәтәы иахьнамыгӡацзеи.

Аҟәараш инаркны ахәыцрақәа дызрылымҵӡакәа дышрылаз Аҟәанӡа дааит. Автобус дшааҭыҵыз еиԥш, аскульптори иареи еиқәшәараны иахьыҟаз ахь дцеит. Еиқәшәарц ианыҟаз аамҭа иахыԥахьан, аха дизыԥшит, еиқәшәеит. Еицәажәеит. Абаҟа дыр-гыларц иалырхыз аҭыԥ дахәаԥшырц азы Аҟәарашҟа инеира аҿҳәара арҭеит.

Иус дшаалгаз еиԥш Аҟәарашҟа дхынҳәырц игәы иҭеикит, аха рқыҭеи ақалақьи ирыбжьаз автобус

Page 298: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

298

заҵәык акәын. Иус далган даанӡа ицахьан. Аҽак дыз-гоз ҳәа егьыҟамызт уи аҽны. Аҟәа даанхар акәхеит адырҩаҽнынӡа.

Зыҟны даангылашаз ҭынха ааигәак димамызт, асасааирҭахь дцеит. Ихала иакәын аномер аҿы иҟаз. Уи аамҭаз Сандрагьы Аҟәа дааны ианшьа иҿы дшыҟаз идыруан. Сышҟа даазгап, ҳазхарагьы ҳаицәажәап иҳәан, зыҟны дыҟаз ителефон аномер идыруан, дизасит. Аха Сандра ианшьа иаалырҟьан адабла исзаап, ихәшәтәра ҳәа Краснодарҟа дрыман амҩа иқәларц аҽеибыҭара иаҿызаарын, неишьа сымаӡам ҳәа иеиҳәеит. Иалгамҭаз абасгьы ациҵеит: – Алиас, суҳәоит, уани уаби рыцҳашьа. Уи зысҳәо уара иудыруеит. Лара лакәзар, сылбацыԥхьаӡа са-анкылан дсазҵаауеит, ихәрақәа ӷьахьоума ҳәа. Сгәы иаанагоит уи дузыԥшуп, улҭахуп, ҳәа. Аҟәа ушыҟоу лдыруеит. Дымбакәа умцан. Ма ааи ҳәа лаҳәа, ма мап ҳәа лаҳәа. Дуҭахымзар «дызургәаҟуазеи».

Алиас деибганы Москвантәи даныхынҳә ашьҭахь иани иаби икәшан дыркит. Ҳаԥсы шҭоу убзиарак ҳарба. Аӡә даҳзаага, ас уабанӡаҟазаауеи узаҵәӡа, уҭаацәарадаха? Иуаҳҳәо урҳа, ҳрыцҳашьа ҳәа. Иҩызцәа Сандра иеиԥш изааигәаӡақәаз анырбалак, шәҳазиацәажәа, ҳаԥсы шҭоу аӡә даҳзааигар ҳҭахуп. Иаргьы шьҭа дхәыҷӡам... уахгьы-ҽынгьы азхәыцра ҳагеит, ус даанхар ҳара ҳашьҭахь иԥсҭазаашьахозеи ҳәа. Аиашьа анцәа диимҭеит, аиаҳәшьа имаз аӷацәа дырхәыртәит.

– Игәаԥхо димбац макьаназ, даниба мышкы даанҳажьӡом, шәгәышәҽанӡамкәа, шәышҭәоу, аҭаца дҳаман ҳаауеит.

Алиас уи аԥҳәызба зны-зынла акәын данигәалашәалоз. Аҵыхәтәантәи аамҭаз акырӡа ҵуан дигәаламшәацижьҭеи. Сандреи иареи телефон-ла реицәажәара ирҿыцны дааигәаланаршәеит, Аҟәа

Page 299: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

299

аҵара аниҵоз, ларгьы аҵара лҵон, аха рфакультетқәа хаз-хазын. Алиас дылгәаԥхеит (еибадыраанӡа). Лхы илырдырит. Ус илбоз зегьы дырхьынҳало иҟаз лакәӡамызт, данылба, иԥшра дыхнахит. Иа-неибадыр, иԥшреиԥш акәын игәаҭагьы шыҟаз, диҿыԥсаауа бзиа дылбеит. Ларгьы даара бзиахәӡак лакәын, лыԥшра, лсахьа, луаҩышьа, лцәажәашьа, лхымҩаԥгашьа злаҟаз ала акы дсыуандаз ззуҳәашаз лакәын. Аинститут аҟны аҵара ахьынӡарҵоз ажәа анбасниҵои ҳәа акәын дшыԥшыз, аха ринстиу-тут аҟны аҵара зҵоз аӡә леиԥш дыԥхьаӡаны акәын ианааиқәшәалоз аԥсшәа шлеиҳәоз. Уи ада уаҳа цәаныррак атәы иаламцәажәаӡакәа аинститут иалге-ит. Лара Аҟәа даанхеит. Иара иқыҭахь дцеит. Ас еиԥш иҟаз аԥхәызба бзиа ус даанрыжьуазма, илышьҭаз рацәан, аха мап рцәылкуан, иҳәаны итәаз леиԥш лхы мҩаԥылгон. Алиас иеиӷьу дызбаанӡа ҳәа акәхап, аӡәгьы ажәа илҭомызт. Аха уи иеиӷьыз длымбазар акәхап, лгәы длызҭымхуа даанхеит. Алиас иқыҭа аҟынтәи Аҟәаҟа амҩа данықәлаз, дахьынӡақәызгьы хықәкы хадас имаз, Сафарбеи ибаҟа аҟаҵареи аргы-лареи ианаамҭоу ахьӡара акәын.

Сандреи иареи телефонла еицәажәаанӡа уи аԥ хәызбеи иареи реибабара ихгьы, игәгьы иҭаӡамызт. Сандра гәҭыӷьӷьаала иеиҳәаз, ишьҭахьҟа дхьанарԥшит. Ҳрыцҳашьа, ҳаԥсы шҭоу аӡә даҳзаага. Аԥсыгәырҩа аҵкыс абзагәырҩа еицәоуп. Ҳала уахьынӡамбоз уаби сареи иаҳхаагаз ҳара ҳауп из-дыруа. Аразҟы ҳамазаарын. Анцәа ҳрыцҳаишьеит. Уеибга-уеизҩыда уаҳзааит. Ҳара шьҭа наҟ ицо ҳауп. Убзиара ҳарбаны, ҳаҷкәын заҵә ихала даанаҳмыжьит ҳәа ҳашьҭахьҟа ҳамԥшуа ҳгәы рҭынчны ҳаԥсы рҭынчны, амҩа ҳақәҵа ҳәа акырынтә илҳәахьан, аха иахьеиԥш игәы ихьухьууа иҭамлацызт иан лажәақәа. Абгьы дацәыԥхашьаны алаҿимҭуашәа ҟаиҵон, аха

Page 300: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

300

ихьааган ишимаз ибон Алиас. Уара аӡәызаҵәык уоуп иҳамоу ҳазхәаԥшуа ҳәа иан илҳәацыԥхьаӡа, иаҳәшьазаҵәы ибла даахгылон. Данырхәыз аҽны инаркны дааидымҵӡакәа дидтәалан, Москваҟа да-ныргоз дицымцар лымуит, дихыԥсаауан, ак ихьыр ҳәа дшәон, мызла, ҩымызла дидтәалан, лара лна-пала илҭоз ада фатәык ихәда илбаауамызт. Аиа-шьеи аиаҳәшьеи реибабашьа џьазымшьоз ҳақьымк дыҟамызт. Маҷӡак деиӷьхо даналага, дхынҳәны даа-ит, ҳани ҳаби шыҟоу, рыԥсы шҭоу збоит ҳәа. Данцоз акы лцәа иалашәазшәа, дгәыдкылан-дхыдкылан да-анлыжьит.

Дахьааиз, ҳаӷацәа зынӡа иаапкны, ақыҭа иалагье-жьуа, хәыҷы днырмыжьуа, ду днырмыжьуа, инырҵәо ишрылаз анылба, лашьа иавтомат аашьҭыхны еи-башьра дцеит, лани лаби бымцан ҳәа илыҳәеит, аха илымуит, сашьа ишьа зуроуп лҳәан, дырзааным-кылт.

Раԥхьатәи ажәылараҿы далаӡит, иршьыз алыргеит, ирхәыз алыргеит, аха лара далаӡит, уаҳагьы дырзымԥшааӡеит. Иахьа уажәыгь хабарда дыбжьаӡны ды -ҟоуп. Аха ани аби игәаӷьны ирызҳәом дыҟам ҳәа, издыруада иахьагьы даанханы дыҟазар ҳәа ргәы ижьажьо иаанагоит.

Сгәы сыдмырхьырц сара иахьсаҳауа саҳәшьа лыӡбахә рҳәаӡом сани саби.

...Сани саби сыргәаҟрым. Саргьы шьҭа схәыҷӡам. Сабан ӡаԥшызаауеи, насгьы сыззыԥшыда. Шьази-на длеиӷьымзаргьы исзыԥшу лахь сцап. Автобус ашьыбжьышьҭахь ауп ианцо, уаанӡа аамҭа сымо-уп. Ҳаиқә шәаны ҳаи цәажәап. Иалымҵыргьы аамҭа аласхызгап ҳәа ӡбаны дышьҭалеит.

Ауха акыраамҭа дмыцәаӡакәа длызхәыцуан. Лыԥшра, лсахьа, луаҩышьа игәалаиршәон. Ԥҳәызба ԥшӡан. Илымаз абзиарақәа зегьы лзаанханы илы-

Page 301: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

301

моума? Заҟа шықәса ҵуазеи ҳаибамбеижьҭеи? Заҟа аамҭа сузыԥшыз, аха уара уахьынтәи ажәак анысмаҳа, аҭаацәара салалахьеит... Уара дуеиӷьымзар дуеицәаӡам ҳәа уаҳәан, унаскьа-ган уоулыжьыр ҟалоит. Уигьы уазхәыцла ҳәа игәы иҵанаҳәон.

Аус ахьылуаз идыруан, ашьыжьымҭан дҩагылан, дцарц аҽырхиара дшаҿыз, аамҭа заҟа ыҟоу ибарц ателевизор ахьынаиркыз, «Иахатәи ахҭысқәа»ҳәа ицоз арубрика дақәшәан, дазыӡырҩит. Зныкеиԥш ҩынтәгьы ирҳәеит, «Иаха цхыбжьон Аҟәа ақалақь, Курченко лыхьӡ зху апаркаҿы, зхаҭара еилкаам ҩыџьа ԥсшьара иааны иҟаз, зуаҩыбжара аҟынӡа им-неиц ԥҳәыск цәгьала илызныҟәеит, амш лыларге-ит, ддырҳәит. Ацәгьара ҟазҵаз аанкыланы ашьауӷа рақәыршәаразы амилициа аусзуҩцәа рыԥшаара иаҿуп»ҳәа.

Алиас абри адырраҭара даназыӡырҩы иараз-нак иааигәалашәеит Аҟәа аҵара анырҵоз, Сафар-беи дзықә шәахьаз хҭыск. Аҵара ицызҵоз (икурс аҟынтәи) аӡәы имшира азгәеиҭон. Сафарбеи ааԥхьара иман. Ахәылбыҽха еидтәалаз аиқәлацәа рҩыза имшира хааӡа имҩаԥыргеит. Асааҭ жәаҩа иа-хысхьан ианеимпыз. Сафарбеи аҩныҟа дшаауаз Кур-ченко лыхьӡ зху апарк данаавала ԥҳәыск лыҳәҳәабжь иаҳаит, лыбжьы убри аҟынӡа игәыҭшьааган, лышь-ра иаҿызшәа акәын ишгоз. Апарк аҵыхәахьынтәи акәын ишааҩуаз. Ицәыҵлашьцаран, аӡә дубо иҟамызт. Шәсыцхраа, шәуаами, шәсыцхраа ҳәа дӷьаҵәыӷьаҵәуан. Ишырҳәо еиԥш, аламгәа ҭылшьаауан, ауаҩы игәы акәым... Длывсны дымце-ит, лыбжьы ахьгоз ахь ихы рханы дышцоз, ҩыџьа аҷкәынцәа агыгшәыгқәа реиԥш деимырххо дышры-маз даарыдгылт. Шәызҿу закәызеи, уара шәуааӡами, иҳәан, илхицарц далагеит. Уара узусҭада, уца наҟ,

Page 302: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

302

уаҳԥырхагамхан акәымзар, рҳәан, руаӡәык иаҳәызба ҭыхны ишҟа иҿааихеит. Сафарбеи днаимпыҵасын, иаҳәызба ааимхны ихаӡӷара кыдиршааит. Убас иӷәӷәаны дыкшеит, ишьапы дықәнаҟьан, дыбӷаӷаны дцан дкаҳаит. Егьигьы ус изиурц ишҟа данаақәгьежьаа, дшәаны дыҩны дцахьан.

– Бымшәан. Бҽырӷәӷәа. Урҭ шьҭа уаҳа иббарым. – Дқыџьқыџьуа, лшьапы лыҵамгыло даналага лгәы ирӷәӷәеит.

Лмахәар аанкылан алашарахь данкылига зынӡа қәыԥшӡак лакәын, дшәара-еиҵараха Сафарбеи дихәаԥшуан сеиқәирхаҵәҟьама ҳәа, цқьа агәра лзымго. Диман аҭыҵырҭа аҟынӡа ианааи, ауп ианыл-баз Сафарбеи имахәар ашьа алыжж ацара ишаҿыз. Инеимаҭәаны аҵәыуара далагеит. Сара исыхҟьаны ауп изыҟалаз ҳәа. Сафарбеи имахәар ишацрасыз, ибеит аха усҟак хьаас иҟаимҵеит. Уажәоуп иани-нырыз, абаҩ аҟынӡа имнаӡеит, аха унацәа нҭашәо имахәар шхәыз. Ашьа гылан ицон. Ашьа аныл-ба, лнапқәа акәыршаны иааныскылоит ҳәа дала-геит. Аха ианаму, хыхьтәи лкофҭа аалшәылхын иакәлыршеит. Аҩыџьагьы еицхыраан ашьа ацара аа-ныркылт. Дшәаны лхала лыҩныҟа дышзымцоз ани-ба, ара баансыжьӡом иҳәан, диман амҩа данықәла, лгәы ӷәӷәахан, аҷҷаҳәа иацәажәара далагеит. Амҩа иахьынӡақәыз илыхьыз зегьы иалҳәеит. Лани, лаби, лареи аԥсшьаразы Аҟәа иааны ишыҟоу. Ахәылбыҽха (амра ҭамшәацызт) лан ачаагара ддәықәылҵеит. Ачаҭирҭа адәқьан рацәак ирцәыхараӡамызт. Дахь-неиз ача нҵәахьан. Ианааргонӡа ҳәа дааԥшит. Лара леиԥш иԥшны игылақәазгьы ыҟан. Днаԥшы-ааԥшуа адәқьан аԥхьа дышгылаз, – ача анбааргои ҳәа быԥшума? Уи макьана иааргаӡом, ачаӡырҭаҿы ҳаҟан, афрына аҭгарагьы иаламгаӡацт. Иахьырҭиуа аадыруеит, амҩа ахьааихаҳҵәо игылоу адәқьан

Page 303: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

303

аҿы иҟоуп. Ҳаргьы аахәаразы уахь ҳцоит бҭахызар баргьы баала, – ҳәа ҩыџьа аҷкәынцәа аалыдгылан иларҳәеит. Рыгәра лгеит.

Шьҭа ҳааит. Шьаҿақәак роуп иаанхаз ҳәа цәажәарҭас дыкны дрыман ицон... Аха изымнеиӡеит. Ақалақь бзиан илыздырӡомызт. Иааигәоуп шәымҳәази, сабажәгои, амҩа ҳақәижьҭеи иҵӡозеи ҳәа рыгәра лзымго даналага, уатәи адәқьан ашә адыркхьеит. Ҳанавсуаз ибаҳамҳәаӡеит. Уажәы иахьырӡуа баагоит. Иԥхаҵәыԥхаҵәуа быҩныҟа ибгап ҳәа уа днаго, ана днаго ишалаз ихәлеит, илашьцеит. Бзиарак ргәы ишҭамыз гәҩарас илкын, срыцәцоит ҳәа дрымпыҵҟьан дыҩит. Иаразнак илыхьӡан даа-ныркылт.

...Аброуп ача ахьырӡуа рҳәан, дрыман апарк иҭалеит. Ара ачаӡырҭа ыҟаӡам. Ари Курченко лыхьӡ зху апарк ауп. Сани саби сааганы исдырбахьеит. Сыжәжьоит, сҭалаӡом лҳәан, лышьҭахьҟа дыҩит, ҽеик ргәы ишҭамыз анылба. Дыҭҟьан амҩа аҟынӡа днеиаанӡа илыхьӡаны, лнапқәа ырҵәины, лҿы еи-хакны дықәшьуа дрыманы, зегь реиҳа иахьылашь-цаз апарк аҵыхәан дыргеит. Ишыҟалаз зегь ҳәаны данаалгоз дахьынхоз аҩны агәашә иаадгылт. Агәашә дынҭагаланы ишьҭахьҟа данаахынҳәуаз аамҭазы, уаангыл, уҽумырҵысын. Сыҩуеит ҳәа уалагар су-еихсуеит иҳәан, хаҵак иҭапанча ҭыхны Сафарбеи дишьҭалеит. Уи, лаб иакәзаарын. Ан лыԥҳа ашьа лгәыдшыла данылба дҿаҳәатәхеит.

– Саб, уи акгьы ихараӡам. Уи иакәмызҭгьы, зынӡа сышәцәыӡыр алшон. Уи иоуп сеиқәзырхаз, – лҳәан, лаб дихьӡаны дихьынҳалан, дааныскылоит ҳәа дала-геит.

– Сара сыҩны сцап ҳәа сгәы иҭаӡам. Иҟалаз аиаша еилышәкаа, иҳәан Сафарбеи ишьҭахьҟа дхынҳәит.

Page 304: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

304

– Нас ари ашьа ибыхьтатоу абаанагеи? – иҽизеиқәкуамызт аб.

– Ари сара сшьа акәӡам, иара итәы ауп. Санрыми-хуаз урҭ абжьысқәа ҳәызбала дырхәит. Ишьа илҵны ицоз ааныскылоит ҳәа саналага, ишьа сықәҭәеит. Уажәыгьы иаанымгылаӡац, кәаԥ-кәаԥ иалыкәкәаны алеира иаҿуп. Иҿаҳәатәуп. Ицхраатәуп, – ҳәа аӷьаҵәыӷьаҵәра далагеит.

Иҟалаз шыҟалаз аиаша анеилыркаа, ангьы аб-гьы аҭамзаара шьҭарҵеит. Инапы ҿарҳәеит, аҩныҟа дымҩахыргеит, ихы, иҵыхәа, дызусҭаз еилыр-кааит. Даргьы ахьатәиқәаз изусҭцәаз иарҳәеит. Ростовттәқәан. Есԥхынра Аҟәа ԥсшьара иаауан, ҭаацәала. Аб дгенералын. Арратә маҵыураҿы аус иуан. Ан дҳақьымын. Ари аӡӷаб – рыԥҳа заҵә лакәын. Ҳаԥҳа дахьеиқәурхаз ҳаԥсы ахьынӡаҭоу иаҳхашҭуам. Зны Ростов унеины уҟалозар уак-ҭынхак иеиԥш уҳадаҳкылоит ҳәа иарҳәеит, Сафарбеи дцо даналага.

Агәашә аҟынӡа днаскьалгеит деиқәзырхаз. Аԥхьаҵә ҟьа дхәыҷызшәа ауп дшибаз, ашәара деиҵарӷәӷәа дахьамаз азы акәхап. Аха лыҩны де-ибганы данааи, лымаҭәақәа анылыԥсах, еилажәжәа иҟаз лыхцәы анеиллырга, ԥҳәызба наӡааӡак леиԥш иблаҿы дааит.

– Ашкол бҭоума? Иарбан классу бахьтәоу? – ҳәа длызҵааит, абзиала ҳәа анеибырҳәоз. Сынтәа абжьаратә школ салганы ауниверситет сҭалеит, – лҳәеит, дахьлазҵааз агәахәара лнаҭан. Рнапқәа ане-имырхуаз, Светлана сыхьӡуп ҳәа иалҳәеит, иаргьы Сафар сыхьӡуп ҳәа леиҳәеит. Ажәакала, еибадырит. Лани лаби дыргәаԥхеит. Игәра ргеит.

Адырҩашықәсангьы ԥсшьара ишааз уеиԥш, Са-фарбеии Светланеи еиқәшәеит. Игәалаиршәон Али-ас, аибашьра анцоз жәыларак аан аӷацәа рыкәшеит, ирулак аҭабиа аҟынӡа инаӡеит. Сафарбеи иҩызцәа

Page 305: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

305

иреимҳәеит ахы иқәшәаны дшыҟаз. Аҭабиаҿы иана-аи ауп ианырбаз. Имахәар ауп изықәшәаз. Аҿаҳәара ианалага, Алиас ихы наидикылан, иахьсықәшәаз убо. Ари џьашьатәуп. Аҽаџьара акәӡамкәа, иара уаҵәҟьа ауп иахьсықәшәаз иҳәеит.

– Иуҳәо сзеилымкааит, – иҳәеит Алиас. – Смахәар аҿы ауп, аха иара убраҵәҟьа ауп

Светлана «агыгшәыгқәа» данырцәызгоз аҳәызба ахьсыларҵаз. Уамашәа избоит, усҟангьы уажәеиԥш абаҩ аҟынӡа изымнаӡеит аҳәызба аԥынҵагьы ах-гьы, иџьашьатәуп, аҩбагьы џьарак ауп... – Ииҭахыз нагӡаны иҳәаанӡа ихәра ҿаҳәаны ишалгаз аниба... – Уи уашьҭан еибаҳҳәалап, уажәы ажәыларахь, – ҳәа акоманда ҟаиҵеит. Аӷацәа хымш раахыс ахәы ҳаракы аанкылан измаз, арҭ ҳрылгеит аӡәы ицәаара убаӡом ҳәа рԥаҵақәа ыршо ишыҟаз, Сафарбеи ԥхьаҟа ажәыларахь ҳәа акоманда аныҟаиҵа, аҭабиа иҭатәаз зегьы нҭыԥан аӷацәа ирыжәлан, «Ваиме, деда»ддырҳәеит. Ҩ-сааҭк рыла ахәы ҭадырцәит. Ршәаџь зҳәашагьы даанырмыжьит. – Ҳаилгеит шьҭа, узлагаз уажәа нагӡала. Светлана лаб ҳәа акы уала-ган, уигьы нагӡаны иумҳәаӡеит. – Аиааира анырга рыԥсы еиҭаркырц ишынатәаз еиԥш дизҵааит ԥаса излацәажәоз.

– Аҭак аҟаҵара уахьымӡеит, иуеиҳәазеи агене-рал?

– Аҟәа узылгаз аҵара ацҵара уҭаххозар (аҭоурых факультет ами узылгаз), Ростов аспирантура аҭаларазы сара ацхыраара уоуратәы иҟасҵоит, сашьа иоуп акафедра еиҳабыс иҟоу, уи аҭоурыхтә наукақәа дырдокторуп. Азныказы сақәшаҳаҭхарц егьаасы-гымхеит. Сҵара ацҵара заҟа исҭаху умдыруеи. Аха иаразнак ажәа исымҭаӡеит. Сани саби быргцәоуп. Сара сыда уаҩ дрымаӡам. Урҭгьы сразҵаароуп, ирҳәогьы саҳароуп ҳәа иасҳәеит.

Page 306: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

306

– Ас шәеицәажәаратәы еиԥш шәабеибабеи? – ҳәа Алиас данизҵаа, – аԥсшьараз Аҟәа дааны дыҟоуп, – иҳәеит.

– Лхала дыҟоума?– Мап, ҭаацәала иҟоуп. Сшақәшаҳаҭымхаз ауп.

Август мза жәохә инадыркны иалагон аԥышәарақәа рыҭира, аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгара. – Сафар-беи ицәажәара аҽак ашҟа иахигеит. Светланагьы лани лаби дрыцны дыҟазма ҳәа азҵаара ииҭар ҳәа дацәшәаны.

Аҷкәынцәа, шамахамзар, ианааиқәшәалак, – Иа-хьа иуц-кәашода? Бзиа иубоз аҽаӡә бзиа дылбома? Узыцныҟәоз укалыжьыма? Сара стәы дшыҟоу уды-руама? – ҳәа аӡӷаб цәа рылацәажәара иалагоит. Али-аси Сафарбеии убри аҟынӡа еизааигәан, ԥсык еи-цырхан, еибырымҳәоз маӡа рымоуп ҳәа издыруаз аӡәы игәы иаанагомызт, аха абзиабара атәы зынӡа алацәажәара акәым, иагьыргәаладыршәаӡомызт. Досу ибзиабара иара игәаҵа иҭаҵәахны иман. Шьа-зина бзиа данеицырба нахыс ауп урҭ ус ианыҟалаз.

– ...Светлана лаб исеиҳәаз сақәшаҳаҭхазҭгьы ишԥа ҟасҵоз. Аԥышәарақәа сҭиуеит ҳәа Ростов сшыҟаз аиба шьра иалагон. Амҩақәа зегьы ркуан, Ҧсоу аҳәаа хыҵшьас иҟасҵоз. Раԥхьатәи амшқәа инадыркны сыԥсадгьыл ахьчаҩцәа сааны санрывам-гыла, сгәы ԥжәаны сыԥсуазшәа збо сҟалон.

– Ажәакала, Ростови уареи шәеилгеит. Знык уана-цәыхҟьа, нас ицәгьоуп угәы иҭоукыз анагӡара, – иҳәеит Алиас.

– Мап. Уара иумдыруеи, Ԥсоунӡа саау-ан аҽныҵәҟьа, аха арахь аашьас иҟасҵоз. Гагра аԥхьатәи амшқәа инадыркны ақәылаҩцәа ахаԥаны иааныркылахьан...

– Шьҭарнахысгьы уахь, Ростовҟа, умцо-зар акәхап. Знык уанацәыхҟьалак ицәгьоупҳәа аниасҳәа, аиааира шаагалак еиԥш сцоит иҳәеит.

Page 307: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

307

Усҟан рацәак дазымхәыцӡеит, аха уажәы Даҭа исеиҳәаз: «Шәыҷкәынцәоуп, шәшьа шуеит, шәда шуеит. Аҷкәынра иунамырҟаҵо иҟоузеи. Аҟәа аҵара ахьынӡашәҵоз аӡәыр длыҿцаауа дыҟазҭгьы, уара иузымдрырц залшом, уазхәыцла, абааԥсы, иудыру-азеи, џьара ицырҟьак диҭынханы дыҟазаргьы», ҳәа.

Аҟәа аҵара анеицырҵоз аамҭа шырхыргоз, иахьтәаз, иахьгылаз шьаҿа-шьаҿала дрызхәыцуа дшааиуаз, «Аиааира шаагалак еиԥш Ростовҟа сцоит», – ҳәа аҭабиаҿы иеиҳәаз анигәалашәа, дыршьаҳазшәа дааныркылт урҭ ажәақәа. Светла-на Ростовтәымзҭгьы дцарызу ҳәа ихы дазҵааит. Уи лакәмызҭгьы дцаӡомызт. Игәгьы иҭаӡамызт. Ианеибадыр ашьҭахь изныкымкәа ишеиқәшәахьаз (иара иҟынтәи егьимаҳацызт, аха уажәы агәҩара иоуит), ишеиҿцаауаз. Агәҩара изҭазгьы, зны еиц-ны ишнеиуаз, дара ахьынхоз аулица ахьаанҵәоз игылаз ақьырмыт ҩны ҟаԥшь ианаавала, Светлана абри аҩнаҭаҿоуп дахьаангыло ԥсшьара данаауа ҳәа иеиҳәахьаз ауеп. Сара исеимҳәоз маӡа имамызт, аха саҳәара дахьымӡазар? Лыбзиабара акәызҭгьы Ростовҟа ихан дызгоз? Сара исуалԥшьоуп уи аил-каара иҳәан, ашьыжьымҭан дшыҩагылаз еиԥш, егьырҭ иусқәа ааныжьны, Ростовҟа амҩа дықәлеит, ихы иҭагьежьуа иҭан, усҟан уи алацәажәаха уаҳа ир-моуит, аибашьра ашьаарҵәыра иалагылан. Уажәы асасааирҭаҿы дшыҟаз ихаҿы иааит, иҟалап Ростовҟа ацара игәазырԥхаз Светлана лакәзар ҳәа. Избан акәзар, Светланеи иареи анеибадыр ашьҭахь, ҩба-хԥа шықәса бжьысхьан, еицны ишнеиуаз, абри аҩны аҿоуп Светлана есԥхынра ԥсшьара ҳәа да-наауа дахьаангыло ҳәа, Сафарбеи дааҭгылан, Али-ас амҩа аахаҵәирҭа акәакьҭаҿы игылаз ақьырмыт ҟаԥшь иалхыз ахатәы ҩны иирбеит. Уи аҩнаҿы инхоз Светлана лан лаҳәшьа лакәын, Сафарбеи излеиҳәоз ала. Алиас ихашҭқәахьаз зегьы акакала

Page 308: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

308

еизганы реидҳәалара даҿын. Зны саргьы снеига-хьан урҭ рҿы, аарлаҳәа дигәалаиршәеит Светлана лан лаҳәшьа... Ԥсшьара данаауа аброуп дахьаангыло иҳәеит. Ус анакәха, даацыԥхьаӡа еиқәшәозаарын... Сцараны сахьыҟоу сааҟәыҵны Светлана лан лаҳәшьа лахь сцоит. Уи илзымдыруа дҟалару лаҳәшьаԥҳа илыԥсҭазаашьоу. Иҟалап уажәыгьы ԥсшьара ҳәа, есԥхынра дылзаауазар? Абас даазырҳәыз зе-гьы игәалазыршәоз, Даҭа иԥхыӡ ауп. «Иудыруа-зеи, сыԥхыӡ баша исымбазар. Акы адыруазар... Зынӡа слахьынҵа ҷышәымзар... аӡә лҿы уск иман дыҟазҭгьы. Ицыршәа соуп ҳәа аӡә даацәырҵыр?! Уи еиԥш ҟалақәахьеит... усҟан сыҷкәын иԥсы ҭалан даазшәа збоит... схала агәымыжда сахьықәхаз схы рацәасшьоит»ҳәа данынаскьеигозтәи ииҳәаз ажәақәа, ҭаха инамҭо ихы иҭагьежьуа иҭаз ака-калкра иханаршҭит. Ашьыжьымҭан дшыҩагылаз еиԥш, Светлана лыԥшааразы амҩа дықәлеит. Амра гылаанӡа лан лаҳәшьа дахьынхоз (амҩа дахымҟьаӡакәа дышиашаз) днеины агәашә даадгылт. Аӡәгьы ашҭа дықәмызт. Заацәаны саазар ҟалап иҳәан, иҽааникылт, аха адәахьы аӡәгьы дандәылымҵӡа, аԥшра изымычҳаит, исаҳарызеи ҳәа игәы хыҭхыҭуа дыҟан, агәашә кны ишҟа даахеит иаасыртуеит ҳәа, аха аҩныҵҟала абарқәам аҿан. Ианизаамырт, ихы нхырҳәҳәаны аԥшәма ҳәа ибжьы иргеит.

– Узусҭада, иуҭахузеи? – лҳәан ԥҳәыск, зуаҩыбжара иахысхьаз, аҩны ашә даалагылт, лҽырцәгьаны.

– Иҟалозар, аказы сшәазҵаарц сҭахын. – Уара уеиԥш ауп зегьы ишырҳәо. Акы

иазҵаауашәа, акы иашьҭоушәа... шәызегьы шәеиԥшуп. Сыла ушабо ухынҳәны уца, акәымзар амилициа срыԥхьоит, – лҳәеит лыбжьы ҭцаны, ааигәасигәа инхоз ираҳаратәы.

– Цәгьара шәзысымуит. Ус шәызсыҵаҟьозеи, – иҳәеит ицәымӷханы.

Page 309: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

309

– Уара узусҭада? – лыбжьы маҷк еиҵалтәит, даа-скьаны данихәаԥш ашьҭахь.

– Сара Сафарбеи иҩыза соуп.– Сызҩызада зуҳәаз? Уи иеиԥш сара уаҩ дсыз-

дырӡом, – лҳәан, лнапы ҟьаны лышьҭахьҟа ддәықәлеит.

– Ростовтәи шәаҳәшьаԥҳа Светлана лыхьӡми?– Ааи, Светлана лыхьӡуп...– Шықәсқәак раԥхьа ԥсшьара ҳәа дааны шәара

шәҿы даныҟаз, Курченко лпарк аҿы ацәгьоуцәа дырцәы зыхьчаз иоуп уи.

– Сафар иоума узҿу? Заа иуҳәарауаз, шьҭа еи-лыскааит. Уи даҳхашҭуа ҳаҟоума. Лани лаби нахыԥсаа ицон уи ауха Сафар деиқәимырхазҭгьы рыԥҳазаҵәы. Иара саргьы сахыԥсаауан, саҳәшьаԥҳа лами. Гәыбӷан сумҭан, саӷьуа-ԥсуа сахьуԥылаз. Аума ҳақәшәан ҳаҟоуп, ҳазшьуа дҳаздырам, ҳзырҳәуа дҳаздырам, иаҳзымдыруа зегьы ҳрыцәшәоит. Аи-башьра ахьынӡацоз анцәа ҳиҳәон аԥсуаа Аҟәа ргаанӡа ақырҭцәа, афашистцәа ҳрымпыҵоумшьын ҳәа, ҳҳәахьа ҟалеит, ақырҭцәа ықәцаны аԥсуаа Аҟәа анырга, ҳаԥсы еиваагеит, шьҭа иҳабаргәузеи, ашьартәагақәа ҳарцәынхеит ҳәа ҳшыҟаз, урҭ рхаҭыԥан агәыфагақәа аакылсит.

– Урҭ зусҭцәада, иабантәиааи? – Иџьеишьеит, дыззаз иха наршҭит уи аԥҳәыс илҳәаз.

– Аибашьра шаанҵәаз еиԥш, рыҭра ԥжәазшәа, иааит, ациганқәа хыҵны. Аԥхьа аԥсыуаазшәа рхы ҳдырбеит. Араҟа иааҳакәыршаны инхоз зегь қырҭцәан, рыҩнқәа, ргәарақәа кажьны ртәылахь ианца, ациганцәа урҭ рыҩнқәа, ҩба-ҩбала, хԥа-хԥала иааныркылеит.

– Абра иааны ишәыланхаз зегьы ациганцәа роума? – Агәра изымгеит Алиас, ақырҭцәа циганцәоушәа рҽыҟаҵаны рыҩнқәа рахь ихынҳәызар ҳәа игәахәын.

Page 310: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

310

– Иџьоушьаша, урҭ рыбжеиҳараҩык аԥсышәала ицәа жәоит. Уи ауп ҳаргьы ҳазжьаз. Аԥсыуаауп ҳамҳәеи. Аԥсуаа ргәылара бзиоуп ҳәа ҳаҟамзи, аха мышқәак рыла иаабеит урҭ шаԥсацәамыз, ишциганцәаз. Ациганцәа роуп агәыла икәытҵара иҭалан акәты зӷычуа, уҩны иҩналаны умаҭәа зго.

Урхьшәашәага иҭаланы афатәқәа ҭганы изго, амаҭәа ӡәӡәаны адәахьы ицәҵаны уааҩналаанӡа, икынԥааны изго... Аԥсуа уи еиԥш агәымхара ахаан ихы иаҭәеишьом. Схаҵеи сареи Аԥсны ҳанхоижьҭеи 45 шықәса ҵуеит. Аԥсуаа рқьабзқәа бзианы иаады-руеит. Аламыси ауаҩреи аҳаҭырқәҵареи ирацәаны ирҿаҳҵаахьеит. Ргәылара бзиоуп, ҳәаак амаӡам. Арҭ ациганқәа иааны иҳалаҳаз иреиԥшума. Заҵа агәылацәа еиҵамӷьычра, рыбжьара аӡәы ихьымаҭәа шкаршәу ибаргьы, агәылацәа дрылаланы, изцәыӡыз дыԥшааны ииҭоит. Ажәа уасыршьит, аха акызаҵәык сызлауҳәо, абарҭ ациганқәа ҳаԥсыуаауп ҳәа рымҳәо иҟаҵатәу роуп, идырны уҟаз, арҭ реиԥш иҟоу ҳаԥсыуаауп ҳәа рҳәо иалагар, шәцәа ԥырҽуеит. Мыждақәак роуп, ҽынла ицәоуп, уахынла иӷьычуеит. Наџьнатә аахыс абра еиланхо жәантә, жәохәынтә идмырҳәыц аӡәгьы ҳаҟаӡам. Амилициахь, аполи-циахь ҳахьырзамшшыц кабинетк аанымхеит, аха аӡәгьы дрылакьысӡом, ациганцәа азакәан иакӡом ҳәа ҳарҳәоит...

Алиас лзыӡырҩра уаҳа изымчҳауа аҟынӡа днеит. Дааникыларц иҭахуижьҭеи иҵӡозеи, аха илдыруа зегьы лымҳәакәа аанкылашьа шлымамыз ибон.

– Адәны ургылан усымоуп. Аҩны аҩнуҵҟа ҳаҩналап. Иуасҳәаша рацәаны исымоуп. Арҭ ациганцәа Светлана илзырузгьы уасҳәап, – лҳәеит.

– Иакәымыз акрылзырума? – Алиас цәгьала ицәы-мыӷхеит.

Page 311: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

311

Иуасҳәоит, зегь уасҳәоит, – лҳәан, аҩны аҩнуҵҟа дыҩналгалеит.

Сыццакуеит, – иҳәан, дымтәарц далагеит. Свет-лана лтәы ирласны иаҳарц иҭахын.

Уабаццакуеи? – иажәа аҳәаха имҭо, – Уара усасуп, иаҳҭаху, иҳазгәакьоу Сафар иҩыза уоуп, ҳчеиџьыка ымфакәа усышьҭӡом. Схаҵа ԥсыӡкҩуп, ирласны да-ауеит. Аԥсыӡ ааигоит, дшаауа амҩан даанкыланы ациганцәа ицәырымгар. Ус заҟантә изырухьоу уды-руама? – Архьшәашәага дҭалеит ахәы цәырызгоит ҳәа.

– Ауадаҩ шәҽалашәымҵан, сшәыҳәоит, акым-зарак сҭахӡам. Сзышьҭоу шәасҳәахьеит. Уи атәы саҳарц сҭахуп.

Еиҭах иажәа алгаха имҭакәа, – Уҩыза Сафар аԥсыӡ даара бзиа ибон, дшааилак еиԥш Светлана лнапала изыҟалҵон. Уи леиԥш исзыҟамҵозаргьы, ҳчеиџьыка агьама умбакәа усзышьҭуам...

Сафар дааицыԥхьаӡа ҳәа илҳәаз, ииҳәо дақәымшәо, дгачамкны дааннархеит.

Шьҭа сузыӡырыҩуеит, узышьҭоу уара иуҳәаанӡа сара издырит. Светлана улышьҭаланы уааит, ус ами?

Ааи, ус ауп, – иҳәеит Алиас, аҭакс исалҳәарызеишь ҳәа игәы хыҭхыҭуа.

– Светлана лҩыза дыҟаӡам. Сара дахьыстәу азы исҳәоит ҳәа угәы иаанамган. Зегь рыла дыбзиоуп. Аха насыԥла деиқәымшәеит. Сафари лареи бзиа еибабон, лабгьы лангьы ирҭахын маҳәыс дроурц, аха аибашьра еицәнарӡит. Лани лаби ԥсит. Лхала даанхеит, лхәыҷқәеи лареи рымацара роуп иҟоу. Аибашьра шааилгаз еиԥш, Сафар дишьҭалан да-аит, дсыԥшаауеит ҳәа. Ижәла лыздырамызт, да-хьынхоз лыздырамызт, ихьӡыҵәҟьагьы Сафар ҳәа акәын ишылдыруаз. Ларгьы саргьы ҳҵаа-ԥшаауа акыр аџьабаа аабеит, аха лҵшәадахеит. Ижәла

Page 312: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

312

шәзымдыруазар, дызлашәыԥшаауазеи ҳәа ҳарҳәон. Урҭ иҳарҳәоз иашан, гәыбӷанс ираҳҭагәышьоз. Светлана илбеит Сафар иԥшаара шамуаз, аха лгәы лзырҭынчуамызт. Арантәи данцалак, уахьынтәи ателефон ҳзасра далагон, иҿыцу акыр шәаҳахьоума ҳәа. Иҳаҳагәышьоз? Илаҳҳәагәышьоз?

Схаҵа Ваниа аҩны дтәаӡамызт, ма амшын дыхтәалазар акәын, ма Брехаловка дцар акәын. Адунеи аҿы иааҟало ак ҳамбо, ак ҳмаҳауа ҳҟарҵеит ациганцәа. Ваниеи сареи чак аагап ҳәа адәқьан аҟынӡа ҳцан, жәа-минуҭкгьы ҳаанымхеит. Ҳанааи, ҳтелевизоргьы ҳрадиогьы дәылганы иргахьан. Ваниа игәы аныԥҵәаӡалак, жәабжь ҿыцқәак снарзыӡырҩып ҳәа Брехаловкаҟа аныҟәара далаге-ит, жәабжь ҿыцс акрыҟазар уаҟа акәын иахьуаҳауаз. Ҽнак, дахьнеиз, иидыруаз аӡәы газеҭк нарҳәы-аарҳәуа икны дахәаԥшуа дыштәаз дааихагылт. Иаразнак илаԥш ақәшәеит Сафар ипатреҭ ахьа-ныз адаҟьа. Аԥсадгьыл ахьчара зхы ақәызҵаз... данҭаха ашьҭахь Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы зыхҵахаз. Ахаан хашҭра зқәым ҳәа ипатреҭ аҵаҟа ианыз аҩыра заҵәык ауп дзыԥхьаз. Изкыз астатиа Ваниа инагӡаны дзамыԥхьеит, агазеҭ зкыз дыццаку-ан, ирласны дцеит.

Ваниа ари еиԥш аниба, Брехаловка даангы-ло дыҟазма, деиханы аҩныҟа дааит. Ашәхымс дшаахыҵыз еиԥш, иибаз сеиҳәеит. Иара уи аҽныҵәҟьа Светлана адырра лаҳҭеит. Иаразнак дкылҟьа дааит. Деибгоуп ҳәа дыҟамызт.... аха агәра лгарц лҭахымызт.

Ваниа иблала агазеҭ ианны иибаз анлеиҳәа, аҵәыуара даҳзаҟәыхуамызт. Ауха ларгьы дмыцәеит, ҳаргьы ҳалмырцәеит. Ишаашаз еиԥш, астатиа зныз агазеҭ сыԥшаа уеит ҳәа дашьҭалт. Аха рыцҳарас иҟалаз, Ваниа ацәаҳәа қәа роуп дзыԥхьаз, из-

Page 313: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

313

ныз агазеҭ ахьӡ дахәамԥшӡеит. Ижәла ихаҿы иаанымхаӡеит. Игәникылаз исахьеи ихьӡи роуп.

Светлана ақалақь аҟны иҟаз аредакциақәа зегьы еимылдеит дҵаа-ԥшаауа, аха бжаџьара рышәқәа ар-кын. Жәамш рахь знык акәын агазеҭқәа анҭыҵуаз. Аибашьра ашьҭахь уаҳа алшара ыҟамызт. Уахь ала егьанылзымԥшаа, џьоукы арратә комиссариат аҿы бца, убра еилыбкаауеит ҳәа ларҳәеит. Уа дахьнеиз-гьы, ижәла быздырам, иаб ихьӡ быздырам, дахьиз ақыҭа иахьӡу быздырам, ас ҳнадыххылан еилкаашьа ҳамам. Арзаҳал ҩны иааныжь... Жәамш рышьҭахь бҳадҵаал ҳәа ларҳәеит. Жәамш аангылашьас илы-мааз, лхәыҷқәа каԥсаны дааит ҩымш ҳәа.

– Ахшара лымоума? Ҳаҵа дцахьоума? – Алиас игәы иҵаххын, дҩаҵҟьарц егьааигымгеит. Хаҵа дца-хьазар, ахшара длымазар, илышьҭысхуазеи игахәит.

Арратә комиссариат аҟынтәи лгәы каҳаны дша-ауаз, аҩнынӡа дааӡарц егьшлыгмыз, аӡә дылԥылан, даанкыланы лацәажәара далагеит. Светлана аӡә иацәажәара зынӡа илҭахӡамызт, лгәы каҳаны дыҟан. Аха длылаҳәаҵаны дикит, бара харантәи иааз аӡә боуп бызлазбо ала, Аԥсны ԥшӡа даара ибҭахуп. Бара беиԥш иҟақәоу аҳәаанырцәынтәи иаауа аинтервиу рымыс-хуеит. «Аибашьра ашьҭахь Аҟәа шԥажәбои»ахьӡуп арубрика. Сара сжурналиступ. Сшәыҳәоит, шәаргьы мап сцәышәымкырц, аниҳәа, дақәшаҳаҭхеит. Лара дзыргәаҟуазгьы иалҳәеит. Ажәак лимырҳәеит, ба-хьынхо сабҳәар, уаҵәы шьыбжьонынӡа Сафар дызну агазеҭ ахьыҟазаалакгьы иԥшааны ибызназгоит, аин-тервиугьы бымысхуеит ҳәа леиҳәеит. Дгәырӷьаҵәа дшизыԥшыз, ианиҳәаз аамҭазы акыр шагыз дкылҟьа даакылсит. Ваниеи сареи уи аамҭаз аҩны ҳаҟамызт, ҳҭынхак ахәшәҭәырҭаҿы дышьҭан. Ибара ҳцан ҳаҟан. Дҳашьклаԥшуазҭагьы акәхап, ҳаныҟамыз иақәыршәаны дааит. Светлана дуаҩыз џьылымшьеи,

Page 314: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

314

данылба, дыҩны диԥылт, аҩныҟа дыҩналгалеит. Уиакәхеит, аҳәызба лҿакны даалҿагылт, бҿы анааи-хыбх быхәда хысҵәоит, иҳәан, дыршәаны ԥароума-шьароума, лыхәда иахаз ахьтәы џьар инадкыла-ны, хыхьтәи лымаҭәақәаҵәҟьагьы аалшәыхны, ажәакала, иаалымаз зегьы аалымхны иман дцеит, лыԥсы мцо-имаауа дааҟаҵаны. Уи аԥхьагьы, зны ԥсшьара ҳәа лхәыҷқәа лыман даан дыҟан. Амшын аҿы ҽыкәабара ҳәа иахьцаз, лхәыҷқәагьы ларгьы рымаҭәақәа ааршәыхны, аҟәараҿы инышьҭаҵаны, ҳҽаҳкәабоит ҳәа иахьынҭалаз ӡык рхьыршаны иҭыҵаанӡа ациганцәа рымаҭәақәа зегьы рӷьычхьан. Еиҭах абас анылзыру, шьҭарнахыс схәычқәагьы саргьы уаҳа Аԥсныҟа ҳаауам ҳәа ҳәаны дцеит. Ус лҳәеит, аха даауаз џьысшьон. Цәгьалаҵәҟьа бзиа илбон, есԥхынра даауан. Аха ҵыԥх аԥхын дмааӡеит, сынтәагьы дмаауазар акәхап... Уи лхала лакәым, арҭ ациганцәа ыҟанаҵы, ԥсшьара ҳәа Аҟәаҟа аара аӡәгьы иҭаххаӡом. – Абра акәаԥ лыргылазшәа ацәажәара дааҟәыҵит.

Алиасгьы дҳәыҵәыҳәыҵәуа дыззыԥшыз ацәажәара данбаҟәыҵуеи ҳәа акәын. Еиҭах далагар ҳәа дшәаны, дыццакны длазҵааит. – Лхәыҷқәеи лареи роуп есԥхынра иаауа шәҳәеит. Ахәыҷкәа аб дрымаӡами?

– Аб дышԥарымам. Абыда ииуазма? Иуцәажәашьоузеи, – лҳәеит, изҵаара шылгәамԥхаз ирдыруа.

Алиас, иара ихаҭагьы ицәымыӷхан, саҭамзааит, ԥсшьара ианаауаз рабгьы дрыцмааӡози ҳәа акәын сзызҵаарц исҭахыз, иҳәан иҽамаириашеит.

– Ахәыҷқәа аҩыџьагьы ҷкәынцәоуп, еициит... раб, уҩыза Сафар иоуп. Иуамҳәаӡакәа иргәагәо абасҟак изаазгазеи, – лҳәан, ахәы ацәыргара далагеит.

Алиас ари еиԥш аниаҳа, иахиҳәаара изымдыруа

Page 315: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

315

даанхеит, Сафарбеи даацәырҵын, ибла даахгылт. Аԥхьа Ростовҟа дцаны Светлана лхәыҷқәеи лареи ибарызу Аҟәарашҟа дцаны, агәырҩа иагоз Даҭа деиқәирхарызу, рыуа иалихра ихаҿы изаамго дшыҟаз, игәалашәеит Светлана дзышьҭаз агазеҭ рҽны игәы иадҵаы ишныҟәигоз. Иҩны ишәиҵоз акьаҿ ишҭаз иаанхазар ҳәа дшәаны, ашырҳәа инапы иџьыбахь иандәықәиҵа, дааҭынчхеит. Ирҽны игәы иадын. Уи агазеҭ анҭыҵ аҽны инаркны иныҟәигон. Иџьыба иааҭганы Сафарбеи ипатреҭ дахәаԥшыцыԥхьаӡа, дизааигәахон, иԥсы ҭаны дицызшәа акәын игәы ишабоз. «Еиӷьызар ҟалап иаб иаԥхьа Светлана лахь уцар. Ациганцәа лгәы рхәит, аҽазны Аԥсныҟа уаҳа саауам ҳәа ҳәаны дцеит. Аха уара унеир, издыруа-да Аԥсныҟа дуцааргьы» ҳәа игәы иҵанаҳәеит. Дцо даналага, Светлана лан лаҳәшьа длыҳәеит Ростов дахьынхо ладрес илҭарц. Уда здам аӡәы исҭом, аха уара Сафар иҩыза уоуп, угәра згоит лҳәан илҭеит. Алиас дышиашаз Ростоваҟа амҩа дықәлеит уи аҽныҵәҟьа. Амҩа дахьынӡақәыз дзызхәыцуаз Свет-лана сышԥалыдылкылари ҳәа акәын. Знызаҵәык Сафарбеи еибаирдырхьан. Уинахыс маҷ ҵуазма. Дызусҭоу лзымдыркәа (Кавказаа зегь еиԥшуп), Аҟәа Сафар дсыԥшаауеит ҳәа дишьҭалан дахьнеиз цәгьала илызныҟәаз рцәа схылбаар? Шәызегьы шәеиԥшуп ҳәа лымԥан сықәлмыжьлар? Ахәыҷқәа сылмырбар, дсыцәшәаны исцәылҵәахыр ишԥаҟасҵари?

Ус егьыҟалеит. Ростов днеит уахынланы. Ианаа-ша, дахьынхоз аҭыӡҭыԥ ԥшааны, амардуан даҿаланы лышҟа дышҩеиуаз, лара хыхьынтәи лхәыҷқәа аҩыџьагьы рнапы ианкны, илыманы дшылбаауаз иааиԥылеит.

Алиас, Светлана лхала диԥылазҭгьы, дизымдырӡакәа длывсны дцаргьы алшон. Аха знапы ианкны илбаалгоз ахәыҷқәа данынарҿаԥш, дгачам-

Page 316: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

316

кны даанхеит. Сафарбеи даныхәыҷыз, ихы аахҵәаны ирхагылоушәа акәын ишиеиԥшыз. Светлана, Али-ас зынӡагьы диҿамԥшӡакәа лхәыҷқәа лыман дыл-бааит. Алиас дшылзымдырыз аниба, даахынҳәын, дрышьҭалеит. Ашҭа иҭыҵаанӡа дрыхьӡан, Светлана бакәӡами иҳәан, лаԥхьаҟа диасны даагылт.

Лыҷкәынцәеи лареи рымҩа зкыз ииҭахыз лзым-дыруа иаалцәымӷхан, лхы дҩахан данынеиҿаԥш дышкавказтәыз гәҩарас иҟалҵеит, лгәы нҭыԥсааит. Лыбла даахгылеит Аҟәа даныҟаз аҳәызба лыхәда иаҵакны илҿагылаз, ауаҩра зцәыӡхьаз.

– Сара, Сафар иҩыза Алиас соуп. Бзышьҭаз агазеҭ бзаазгеит, – иҳәан, иџьыба иааҭганы илиркит, дышицәшәаз аниба.

Светлана агазеҭ шаанылкылаз еиԥш, дыцца-кы-ццакуа адаҟьақәа аартуа дышнеиуаз, Сафар раԥхьаӡа данылбаз еиԥш, дшамшамуа, илақәа ҭыԥхаауа исахьа зныз адаҟьа лылаԥш нақәшәеит. Исахьа акәӡамкәа, иара ихаҭа дааины лаԥхьа даагылазшәа, лгәы ҭгәырӷьааит. Исахьа лгәазхара илбаанӡа, лыԥси-лыԥси еихьымӡо атекст аԥхьара далагеит. Иџьоушьаша, лхәыҷқәа, ҳан лыбла ҳхым ҳәа еибарыҩуа, еибарԥо аганахь иавамлеит, иҟәиҭ-ҟәиҭӡа игылан илыхәаԥшуан. Светлана Сафарбеи аибашьраан иааирԥшыз агәымшәара атәы даԥхьо, агәахәара лнаҭо дышнеиуаз, иԥсадгьыл ахьчаразы фырхаҵарала ихы ақәиҵеит ҳәа зҳәоз ацәаҳәақәа рҟынӡа даннеи, илықәлашьцеит. Уи нахыс ианыз ажәак иадамхаргьы дзамыԥхьеит. Лыбла ихгылаз алаӷырӡ далыԥшны анбанқәа лымбо дааҟалеит. Лан лаҳәшьа Аҟәа инхо илалҳәахьан, бишьҭыҵ, де-ибгамзар ҟалап ҳәа. Сафар ҩба зламыз, абзиа ҳәа изышьҭаз иакәын. Деибгазҭгьы, жәантә-ҩажәантә биԥшаахьазаарын ҳәа. Иахьамзар уаҵәы ҳаибабоит ҳәа гәыӷра хәҷык мырӡӡакәа илыман даауан агазеҭ

Page 317: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

317

ианыз лбаанӡа. Лгәы злааникылаша ҳәа акы ихаҿы иааиуамызт. Амца аԥыр-ԥырҳәа инаркуан Сафарбеи ихәыҷқәа дахьрыхәаԥшуаз. Уи ихәыҷқәа иара иа-хьимбоз, игәы ҭнашьаауан.

Алиас иҭагылазаашьа шыҟаз анылба, дааиԥхьхәыцаан, умыццакӡозар, ахәыҷқәа аспор-тшкол аҟынӡа инаган саахынҳәуеит, лҳәеит.

– Џьаргьы сыццакӡом. Абраҵәҟьа сгылазаауеит, – иҳәеит Алиас, Светлана лҟынтәи ас еиԥш аниаҳа.

Акыраамҭа ԥштәыс иқәымшәеит, лхәыҷқәа лы-маны дхынҳәит.

– Заҟа ирласны шәхынҳәызеи? – Иџьеишьеит, имнеиц ҳәа дшыҟаз ианаа.

– Атренер дыҟамызт, дычмазаҩхазаап. Уи азоуп ирласны ҳзыхынҳәыз, – лҳәеит Светлана.

– Аспорт ахь аума иахьныҟәо, ашкол иҭамлаӡаци?– Аҩбатәи акласс аҿы итәоуп. Уажәы мчыбжьык

иоужьуп.– Спорт хкыс иалхны ирымоу иарбану? – Алиас

хәыц-хәыц зегь ҭиҵаауан.– Сара исҭаххаз ашьапылампыли

амҵәышәымпыли руак акәын, аха дара ирҭахымхеит. Аҽтәы спорт алырхит. Аҽы рбеит, уаҳа егьырҭахым. Аха иахьа атренер дыҟазаргьы, исзаанымкылар ҟаларын.

– Избан?– Ҳнаудҵны ҳҿанынаҳха нахыс, исысны сыр-

кит, дызусҭада ибацәажәоз? Ибеиҳәазеи, былахь зеиқәузеи ҳәа. Ианаҟәымҵӡа, уи сгәы нимырхаӡеит, уи дуаҩ бзиоуп, шәаб зегь реиҳа изааигәоу иҩыза иоуп ҳәа расҳәеит. Игәырӷьаҵәа иҟалеит, ҳганы ҳаибабырбароуп рҳәеит. Ҳаб данбаауеи ҳәа ҳизҵаауеит анырҳәа, данаауаз диман дааит ҳәа расҳәан, еиқәсыртәеит.

Page 318: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

318

– Шәаб дааигеит ҳәа ҳабымҳәази, дабаҟоу? – рҳәан, ран ацәажәара дшаҿыз илхьынԥашаланы дыркит.

Светлана илгәыдырӷәӷәала ирҽны илкыз агазеҭ ааиҵыхны, раб исахьа ахьаныз длырбеит. Абри иоуп шәаб лҳәеит. Ахәыҷқәа гәырӷьан, агазеҭ еимырхха иаанкыланы, раб ихәаԥшра иалагеит.

– Еибашәмырххацәан, агазеҭ шәцәыԥжәар шәаб арахь дааӡом, – лҳәан, луанытә дқәыԥсычҳауа иаары-мылхит. Дахӡыӡаауа лгәы инадылҵеит. Уи ашьҭахь адуқәагьы ахәыҷқәагьы акыраамҭа ҿымҭӡакәа игылан. Ахәыҷқәа ран иаалыдҵын, – ҳаби уареи шәеиҩызцәоума? Уара уанаауаз иаргьы дзымаазеи? Уажә дабаҟоу? Данбаауеи ҳара ҳашҟа? – рҳәан, иаа-ины Алиас иааидгылеит. Алиас азныказы ахәыҷқәа рызҵаара аҭак аҟаҵара аԥсра ахикаауа дҟанаҵеит. Шәаб дыҟам ҳәа ҳәашьа изамҭеит.

– Шәааи, ҳаибадырып шәареи сареи, – иҳәан, игәы ааиԥсахын, ахәыҷқәа наигәыдиҳәҳәалеит.

– Сара Алиас сыхьӡуп, шәаб иҩыза гәакьа соуп. Шәара ишәыхьыӡқәоузеи иҳәеит.

Аӡәы, – Сара Алиас сыхьӡуп, – иҳәеит. Егьи, – Са-фар сыхьӡуп, – иҳәеит, рылақәа ҭырхаха иҿаԥшуа.

Алиас, иаҳаз ԥхыӡу, лабҿабоу изымдыруа, дгачам-кны даанхеит. Светлана Алиас ахәыҷқәа аҭак рыҭара шицәыхьанҭахаз анылба, асас дышәмыргәаҟын, «уашьҭан зегьы шәзеиҭеиҳәоит, уажәы иареи са-реи еибыҳәатәык ҳамоуп, шәаҳԥырхагамхан, ауар-гьала ҭацәны икнаҳауп, агьалара бзиа ишәымбои, шәызхара шәгьалап лҳәан, хәмарра ишьҭны, лара Алиас ишҟа даахынҳәит.

– Рыхьӡқәа шџьоушьаз збеит, аха уи шыҟалаз абас ауп, – ҳәа дналаган, иалҳәеит. – Сафари са-реи ҳаибабацыԥхьаӡа уара уӡбахә даналамцәажәоз ыҟамызт. Сара аҩызцәа рацәаны исымоуп, аха ахаан исзымԥсахуа, гәыкала исзыҟоу аӡә иоуп. Уи Алиас ихьӡуп. Иареи сареи ԥсык еицаҳхоуп, иҳәон.

Page 319: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

319

Схәыҷқәа ани... иеициуа ԥсык еицырхоуп, рҳәоит. Сафари уареи шәыхьӡқәа рыхьӡысҵеит, – лҳәеит.

Уи ашьҭахь Алиас агәра игеит Светланеи Са-фарбеии, ирзамуит акәымзар, рыбзиеибабара шаамҭалатәымыз, ишнаӡаӡатәыз. Ихьӡ аалҳәа-цыԥхьаӡа лылаӷырӡқәа лҿа ҵәо рҿаархон, аха лхәыҷқәа идмырбакәа илрыцқьон.

Алиас ахәыҷқәа илаԥш изрыдгомызт. Раб иԥсы ҭалан дибозшәа акәын дышрыхәаԥшуаз. Зынӡа де-илазгоз, ԥшрала раб заҟа иеиԥшыз аҟара, рыбжьқәа рылагьы еиԥшын. Уи иџьеишьоз, арҭ аҽы рыԥсы алоуп, уаҳа аҽак рҭахӡам. Уи азоуп аҽтәы спорт иахьынҳалан, икны изрымоу ҳәа Светлана ианылҳәа, зынӡа изымбатәбарахеит, баша ирымҳәозаап, аб икәали иҟыбаҩи ихшаз ирылалоит ҳәа...

Шьҭа изаанхаз, Светлана лхәыҷқәеи лареи Аԥсныҟа иганы, рабду иԥсы шҭоу ҩыџьа имаҭацәа ирбара акәын.

Алиас игәы иҭеикыз Светлана днартәаны дазырхәы цны илеиҳәарц ақәикит, аха игәы иҭеикыз лара заа лцәа иалашәазшәа, иаацәырылган, Аҟәа данцаз дзықәшәаз ахлымӡаах изеиҭалҳәеит, иа-артны илҳәомызт, аха уинахыс Аԥсныҟа ацара шылцәымыӷхаз лныԥшуан.

Аҟәаҟа ацара атәы алацәажәара шзаацәаз ани-ба, уи алацәажәара иҽаламгалакәа, ахәыҷқәа рахь диасны, рацәажәара далагеит иҽраҟаратәны. Раб итәы далацәажәо даналагалак, игәырӷьаны, иааи-ны иааидгылон, ииҳәоз зегьы гәныркылон, рлымҳа хәыҷқәа кыдҵан изыӡырҩуан. Нас азҵаарақәа иҭара иалагон, иара аҭак ҟаиҵон.

– Ҳаб деибашьуазма? Дзеибашьуадаз? – Ҳаӷацәа драбашьуан.– Аӷацәа зегьы дыриааиуазма? Робин Гуд иеиԥш

дыӷәӷәазма?

Page 320: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

320

– Шәаб акы дацәшәаӡомызт. Аӷацәа данырбалак, Робин Гуд даауеит, ҳаишьуеит ҳәа ишәаны иҩны ицон.

– Ҳаб даныхәыҷыз бзиа иибоз иарбан спорт хкыз? – Шәара шәеиԥш, шәабгьы зегь реиҳа бзиа ии-

боз аҽтәы спорт акәын. – Ахәыҷқәа уи даара ргәы иахәеит.

– Аҽы имазма?– Иман. Иахьагьы иҟоуп иҽы.– Хара аҽы ҳамаӡам. Ҳгәыла иаб аԥара рацәаны

имоуп, иԥа ҳҩыза иоуп, аҽы изааихәеит, дақәтәаны дныҟәоит. Ҳаргьы иаҳҭахуп ҳақәтәаларц. Иара мап ҳцәикӡом, аха иаб иуӡом.

– Аӡәы иҽы зышәҭахузеи, ишәыздырам акәымзар, шәаргьы аҽы шәымоуп.

– Иҳазҭада ҳара аҽы?– Шәаб иҽы шәара ишәтәуп.– Иабаҟоу уажәы?– Иахьыҟоу сара шәызгоит.Ахәыҷқәа гәырӷьеит. – Ҳанбаугои? Ианбаҳурбои ҳҽы? – ҳәа исны дыр-

кит.– Шәаб иҽы шәара ишышәтәу жәдыруаз. Уи

заҟа ибзиоу, заҟа иԥшӡоу жәбар, иџьашәшьоит. Алахь ҿашоуп, ашьҭахьтәи ашьапқәа руак, ақалԥад шкәакәа ашьоушәа, иҷашьоуп. Иласуп, аҟәараса еиԥш ашьҭыбжь умаҳаӡо иқәԥрааны икәаруеит. Ишхәыҷӡаз, ҿыц иины аныҟәара ианалагаз инаркны, шәаб инапала иааӡеит. Шәаб шәара дшәықәлан усҟан. Инапала икәабон, инапала акраҿеиҵон. Ианазҳа, аҟәараса еиԥш иԥшӡаӡа, мҵәыжәҩада иԥыруашәа аныҟәара ианалага, «Ҟәараса»ахьӡиҵеит. Ахьӡ ҳәаны аназҿиҭлак, иага ицәыхараны иҟазаргьы, ибжьы адыруан, ишҟа иаауан иҩны.

Page 321: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

321

Алиас, Ҟәараса иҟанаҵақәози раб дзакәызи ртәы аҳәара даналагалак, ахәыҷқәа ргәы ҭгәырӷьаауа ишыҟанаҵоз аниба, зегьы ҽнак ала ираҳәан далымгакәа, хәыҷы-хәыҷла ираҳәо, раб ибзиа-бара дыркуа, мчыбжьык даангылт. Ашкол ахьтә ианыхынҳәуаз идыруан, ихы рықәиршәон. Даныр-балак иеигәырӷьаны, иҩны иԥылон. Ахәмаргақәа рзааихәон. Ран ашкол аҟынтәи дхынҳәаанӡа, дры-цын. Ахәмаррагьы рҭахымызт, аҽакгьы рҭахымызт, ирҭахыз, раб иҽи иареи рыӡбахә раҳалар акәын.

Алиас мчыбжьык ахи аҵыхәеи рыла убасҟак ишьирцылеит ахәыҷқәа, дцарц даналага, макьа-на уҟаз ҳәа ихьҵәыуо иалагеит. Дымцар шамуаз иазырхәыцны ианреиҳәа, ҳаргьы ҳга ҳаб иахь ҳәа дыркит. Аҵарашықәс анынҵәалак шәан шәлыман днеиуеит. Сара уа сышәԥылоит ҳәа иргәыбзыӷит.

– Ҳаб дабаҟоу, даҳԥымлаӡои? – ҳәа иазҵаара иала-геит. Знык иаҩижьит, ҩынтә иаҩижьит, имаҳазшәа ҟаиҵеит.

Алиас ахәыҷқәа анибаз аҽны инаркны, ҳаб дабаҟоу ҳәа иазҵаара аҭак рыҭара аԥсра шахикаауаз, уажәы ианиазҵаа, аӡаӡ еиԥш игәы иаланаҵо иалаге-ит. Шәаб дыҟам ҳәа иҿы изамырҳәеит.

Ахәыҷқәа иазҵаара ианаҟәымҵӡа, шәаб ахара дыҟоуп, – иҳәеит, игәы еиқәҳәалан.

– Зынӡа ихароума? Ҳаннеиуа дҳамбаӡои? – рҳәеит иӷьаҵәыӷьаҵәуа.

– Шәара дыжәбом, аха иара шәибоит. Харантәи дышә хылаԥшуеит. Абзиа аныҟашәҵогьы шәибоит, ихәарҭам ак шәамхаҟаҵаргьы ибоит, – ҳәа агәра диргеит.

– Ҳаб ахара дахьынӡаҟоу ҳҽы иахылаԥшуада, аха-ла иаанхама? Ирыцҳами? – Дара ртәала ихьааргеит.

– Шәабду ибоит, дахылаԥшуеит. Шәаннеилак шәара ишәиҭоит, – ҳәа анреиҳәа, игәырӷьеит,

Page 322: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

322

уанцо ҳаргьы ҳуццоит ҳәа ивагьежьуа иалаге-ит. – Ишәасымҳәахьеи, аԥхынтәи аканикулқәа шааҟалаз еиԥш, шәан шәлыман днеиуеит. Сара уа сышәԥылоит.

Ахәыҷқәа азааигеит. Аԥсныҟа ацара ргәаԥхо иҟаиҵеит.

Шьҭа ран лакәын ахгьы аҵыхәагьы. Лҟазшьақәа злеибаз ала, Аԥсныҟа ацара мап ацәылкыр ҳәа дацәшәон.

Уаҵәы дцараны иахьа еиԥш, дналыдтәалан, игәы иҭакны имаз аартны илеиҳәарц иҽаназикуаз аамҭазы, – Алиас исоуҳәарц иуҭаху здыруеит. Уара иуҭаху схәы ҷқәа ганы рабду ирбара ауп. Уи азоуп ахәыҷқәа зузааигәаутәыз. Аҽы бзиа ишырбоз ануба, раб иҽы атәы уааҟәымҵӡакәа ираҳәо, бзиа идурбеит. Уаха шәаала ҳәа рауҳәар, еибарыҩны амҩа иқәлоит. Урҭқәа зегьы ӡбарҭан, аха исымбозшәа ҟасҵон. Ахәыҷқәа раб иԥсадгьыл даргьы алахәхароуп. Раб-ду иԥсы шҭоу (уара ишуҳәо еиԥш) амаҭацәа шимоу иаҳар, насгьы, дара рхаҭақәа наган ирбазар, еиҳау гәырӷьарас иоураны дыҟоузеи. Аха сеилукаап ҳәа сгәы иаанагоит. Аибашьра анеилга, Аԥсны аиааира агеит ҳәа ансаҳа нахыс, Аԥсныҟа ацара саргәаҟуан. Агәра ганы сыҟан Сафари сареи ҳаиқәшәоит ҳәа. Ихәыҷқәа, ҩыџьа аҷкәынцәа ганы исырбоит, дсыргәырӷьоит ҳәа сшыҟаз, Аҟәа инхо сан лаҳәшьа (зыҟны уҟаз) Сафар дшеибгам, аибашьраҿы дтахеит ҳәа агазеҭ ишаныз лхаҵа ишибаз адырра сылҭеит. Агәра сымгеит. Ишаасаҳаз еиԥш, сашьҭаланы аил-кааразы Аҟәа сцеит. Сахьнеиз ҳаӷоу дзықәшәаша сақәшәеит. Анцәа срыцҳаишьеит, схәыҷқәа ахьсыц-мыз. Сыхәда аҳәызба аҵакны сыршьырц ианалагаз рбазҭгьы, агәыҭҟьа иагон. Ашәара ачымазара бааԥсы рзыннажьыргьы алшон. Иудыруазарц сҭахуп, Сафар иара ихаҭа дысцәыӡит, аха ибзиабара сгәы ишҭоу иаанхоит. Иареи уареи шаҟа шәеизааигәаз здыру-

Page 323: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

323

еит. Иашьак иеиԥш ҳаҭырла сузныҟәарц сҭахуп. Иуцәымӡакәа иуасҳәоит. Сафар дсыԥшаауеит ҳәа сишьҭаланы сахьнеиз, агыгшәыгқәа реиԥш иансызныҟәа ашьҭахь, схәыҷқәа сыман Аԥсныҟа уаҳа сцараны сыҟаӡам. Угәы иалумырсын. Уааны ҳахьуԥшааз азы иҭабуп ҳәа уасҳәоит. Ахәыҷқәа раб иԥсадгьыл Аԥсны даргьы ишацәтәымуаам дурдырит. Саргьы уи ауп ирасҳәо. Раб иԥсадгьыл иацәыӡырц сҭахым. Ирызҳар, ицо-иаауа ишалаго агәра згоит. Иахьазы исзышьҭуам. Иахьнеиуа ҿаасҭарамзар, бзи-арас ирбозеи? Исгәаласыршәарц сҭахым, дхәыҷуп, дыԥҳәысуп, дануп

ҳәа еилых рымаӡам. Иаарымԥыхьашәаз ддырҳәуеит. Иџьыба иҭоу аҿы иаангылома, аҽнышьыбжьон имаҭәа ишәыхны иргоит. Уҩны иҩналан, ухәы уахцаны ирыман ицоит.

– Светлана, аҭыԥантәи ауаа уи еиԥш ахәымгара ахаан иҟарҵом. Аибашьра ашьҭахь ауп аҿаасҭарақәа ҟазҵо анцәырҵыз. Имӡакәа ибасҳәоит, урҭ ҳмилаҭ дырԥхашьоит, ацәа ԥырҽуеит. Ибдыруазааит, абас ҟазҵо еиҳараҩык атәымуаа роуп, аха аус ианадыр-клакь, ҳаԥсыуаауп рҳәоит.

– Сафар, аԥсуаа рқьабзқәа, рҵасқәа ртәы, раҳаҭыр-еиқәҵашьа, еиҳабы-еиҵбы реихаҵгылашьа, ры-сасдкылашьа, аҭаца ланхәеи лабхәеи рҿы лхы шымҩаԥылгаша, асаби данилак инаркны аԥсуара шиларааӡо ҳәа ансеиҳәоз агәахәара ду снаҭон, знык сналаԥшны избандаз ҳәа сыҟан. Абарҭ реиԥш иҟоу аҵас бзиақәа ҳара аурысцәа изҳамамзеи ҳәа срыҵашьыцуан. Урҭ рахьынтәи зегь раҵкыс исгәаԥхоз аԥсуаа, аԥҳәыс лыпату ҳаракны иахьыр-шьоз акәын. Уи ус шакәыз зырҵабыргуаз ала бзиа аԥҳәыс илеишуам» ҳәа аԥсуаа ражәаԥҟа иахьагьы иаанханы иҟоуп ҳәа, исеиҳәаз ауп. Уи ажәаԥҟа саб-гьы иаҳан, ихаиршҭӡомызт дахьынӡаҟаз.

Page 324: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

324

Иахьа урҭ аӡәгьы даанымхаӡазшәа ауп ишыз-баз аҵыхәтәан Аҟәа саныҟаз. Усҟан сгәы шәит. Исхашҭран иҟаӡам исзыруз.

– Сбықәшаҳаҭуп, Аҟәа баныҟаз бгәы ндырхе-ит ӷәӷәала, аха урҭ аԥсуа қьабзқәа, аԥсуа ҵасқәа ныҟәызго ракәӡам. Бан лаҳәшьа бара ибалҳәаз аҩыза саргьы исалҳәеит. Светлана, иахьазы бгәы шәны ишыҟоу збоит. Иахьеи уаҵәи рыла бгәы зырҟәандашак бԥымлар ҟалоит Аҟәа. Аамҭа аҭахуп. Аибашьра ахәрақәа иннажьуа ирласны иӷьаӡом. Изхысҳәаауа, аԥсуаа абас ражәа иалоуп, ԥазаҵәык ида дызмам, иҩны шьаҟазаҵәык ауп иаҵагылоу. Уи азаҵә ак анахь, ԥшак ааҵысыр еилаҳауаеит. Иқьамҭахоит. Сафарбеи иаб дԥазаҵәны даныҟала нахыс, иаб иажәымҭа цәгьахеит. Агәырҩеи иа-реи еизынхеит. Игәы каҳаит, имшқәа ԥхьаӡо аԥсра дазыԥшуп. Светлана, сбыҳәоит, сшьамхы нарсны, абду иԥсы шҭоу ицәыӡыз иԥа заҵәы ихшаз быман бцаны ибырбарац. Дшымгәыӷӡо жәҩангәашәԥхьара ибырбоит. Агәра згоит, имаҭацәа ҩыџьа инапқәа рыкәыршаны ианааникыла, имшқәа рыԥхьаӡара даҟәыҵны, ашықәсқәа рахь дшаго, ҩынтәқәра шниҵуа. Сафарбеи иԥсы иабоит, иԥсы бырҭынчуеит, иаб ус банизныҟәа уи ҳақуп.

– Сафар даныҟам ашьҭахь аӡәы сигәалашәоит ҳәа сгәы иаанагомызт. Уиаахыс маҷ ҵуама. – Светлана лгәы арԥшааит Алиас илеиҳәаз.

– Имӡакәа ибасҳәоит, Сафарбеии бареи шәшеи-қәшәалоз здыруан, аха аибашьра мыжда зны-зынла ухы уханаршҭуеит. Ԥхьан ишысҳәахьоу еиԥш, Са-фарбеи иаб иԥхыӡ ауп исгәалазыршәаз.

– Аҽазныкгьы исзеиҭоуҳәар сҭахуп Ростовынӡа уаазгаз аԥхыӡ атәы, – лҳәеит, лгәы аалыԥсахын.

Ахы инаркны аԥхыӡ еиҭалзеиҭеиҳәеит, лгәы хьаԥссо шәа аниба.

Page 325: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

325

– Уаҵәы амҩа уқәларц угәы иҭоуп. Уаҵәынӡа аӡара сыҭа. Уцамҭаз аҭак усҭоит, – лҳәеит Светлана, акыраамҭатәи лхәыцра ашьҭахь.

Илҳәарызеишь ҳәа дмыцәаӡакәа дшазхәыцуаз иршеит.

Ашьыжьымтан асасааирҭа дахьаадәылҵыз, Свет-лана лхәыҷқәа рнапы ианкны дгыланы дшизыԥшыз даарыдгылеит. Дшаалҿаԥшыз еиԥш, дамжьо ибеит, ибзиоу ак иалҳәарц азы дшааз. Аха, лажәа аҳәаха лымҭакәа, ахәыҷқәа еибарыҩны инеин, Алиас иа-аидгылт рмакәан хәыҷқәа кны. Ҟәараса бзиа иабо азаҳҭиуеит, иганы иаҳзаҭа рҳәан, рмакәан хәыҷқәа неидыркит. Аҩбагьы шьақарла иҭәны иҟан. Ус зыҟарҵаз, Ҟәараса зегь раҵкыс бзиа иабозеи ҳәа иазҵаауа, еиҭаиазҵаауа ианалага, ашьақар бзиа иа-боит ҳәа реиҳәахьан. Игәынкылан ирымазаарын, дцо даналага дара ртәала аҽы ахәы азырҭиит.

– Ахәы азышәҭиит, аха шәаргьы ижәбар шәҭахӡами? – иҳәан, игәы был-былуа ахәыҷқәа ааигәыдиҳәҳәалт.

– Аԥхынтәи аканикулқәа шааҟалаз еиԥш ҳнеиуеит, – рҳәеит аҩыџьагьы еицҿакны.

Ахәыҷқәа ахьынӡацәажәоз лара ҿымҭӡакәа лхы лашьҭны дгылан. Аҵыхәтәан, илҳәарызеишь ҳәа Алиас игәы ҭыҵны ицо дыԥшын.

Аҿымҭра аамҭа аго ианалага, абас акгьы еибымҳәаӡакәа ҳаиԥырҵуама ҳәа леиҳәарц Али-ас иҽаназикуаз, Светлана лхы ҩышьҭылхын, – Схәыҷқәа ирҳәо сақәшаҳаҭуп. Аԥхын исыман сне-иуеит. Раб иԥсы рԥылап. Рабду ддыргәырӷьап. Зыбзиабара дуркыз рыҽгьы ргәазхара идурбап, – лҳәеит, ажәа мыцхәк аламҵакәа.

...Алиас Ростовнтәи данаауаз, аибашьраҿы, Са-фарбеии иареи аиааира ганы ианыхынҳәуаз еиԥш акәын игәы шыҟаз.

Page 326: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

326

«Ушьҭамҭа змырӡша ҩыџьа ахацәарԥар уҷкәын Са-фарбеи иузаанижьт ҳәа, Даҭа зынӡа дшақәымгәыӷӡо, снеины иасҳәар дышԥаҟалари»? Дамхагәырӷьацәар, агәырҩа иарҵаӷахьоу игәы ԥнажәар? Сымацара сакәымкәа, Ҟанчобеи дсыман снеир еиӷьуп. Урҭ еиқәлацәоуп. Реицәажәашьеи реилибакаашьеи зынӡа аҽакуп. Иаҭаххаргьы еибаҟажоит», – иҳәан, Даҭа иахь днеиаанӡа Ҟанчобеи дизцеит. Дахьне-из, дычмазаҩны дышьҭан. Алиас даниба, анцәа иџьшьоуп, уеибганы уахьызбаз, иҳәан, Ҟанчобеи дҩеихан, ииарҭа днықәтәеит, дахьибаз деи-гәырӷьаны.

– Ишәыхьзеи, шәгәы бзиами? – дычмазаҩны да-хьибаз ааицәымыӷхеит.

– Сара исыхьлакгьы усым. Уара уоуп... агәырҩа ҳаургеит, схала сакәым ақыҭа зегьы хьаас ишьҭырхит, ухабарк аныҟамлаӡа. Абаҟаҟаҵаҩцәа рахь Аҟәанӡа сцоит, снарацәажәаны адырҩаҽны схынҳәуеит ҳәа уцан, умааӡеит. Уиаахыс ҩымш ракәым, ҩымчыбжь абар шьҭа иҵуеит. Ихабар ыҟаӡам. Абасҟак аамҭа даанызкылаз уара иузымдыруа ҟаларым ҳәа заҟаҩы сазҵаахьада. Баҭаҟәагьы ҩынтә-хынтә дааны дсазҵаахьеит. Урҭқәа зегь абаҳҭаху. Уманшәалахама? Дареи уареи шәеицәажәама? Абаҟа аҟаҵара нап адыркхьоума? Уахьынӡаҟамыз Баҭаҟәа идуҵаз наигӡеит. Сара исымбац, аха абаҟа злырхуа хаҳә оумак цырцыруа, Украинантәи иаага-ны, аусҳәарҭа ашҭаҿы ишьҭеиҵеит рҳәеит.

Даҭа ианиаҳа, игәы дамыртәакәа, илаба иҽанҵаны дцан, ахаҳә ахьышьҭаз ибаны дхынҳәны дшаауаз (иҩны ддәылҵны џьара дымнеижьҭеи иҵуазеи), сычмазаҩны сшышьҭаз иарҳәахьазаарын, сибарц дааит. Акыраамҭа ҳаицәажәон, Сафарбеи ибаҟа ар-гылара ахьаԥшьугаз, игәы шьҭыхны дамоушәа збеит. «Аԥсынҵра ду ҳазшаз изиҭаша Алиас, иашьа ибаҟа

Page 327: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

327

аиааира амш иахьыгӡаны иқәиргыларц дашьҭоуп. Знык иҟаҵаны изалгар, сыԥсы ахьынӡаҭоу мыш-кы бжьамыжьӡакәа сцалон, иԥсы ҭаны дгылоушәа сгәы иабо сҟалон», иҳәеит. Уи амш ишәзахьыгӡару? Аарлаҳәа дыҟоуп, иԥсы шҭоу ибандаз иҷкәын ибаҟа. Иара иҳәашьа, уинахыс дыԥсыргьы мо имам.

– Абаҟа ақәыргылара ҳахьӡоит, аха уи адагьы, уи аҽны дызқәымгәыӷӡо ибараны дыҟоуп.

– Абаҟа еиҳау, уажәыҵәҟьа иара изы игәы иахәаша иибараны иҟоузеи, агәырҩа иарҩахьоу.

– Имаҭацәа, ҩыџьа ахацәарԥар ибараны дыҟоуп уи амш аҽны.

– Имаҭацәа уҳәама? Изҭада Даҭа амаҭацәа? Иуҳәо абантәиааугеи? – Иџьеишьеит, илакәишьеит Ҟанчобеи.

– Ростовынтәи иаазгеит.Аҟәаҟа акәӡамзи уахьцаз. Ростов узгазеи? Сеило-

умган, уара, иҟоу аиаша саҳәа.Алиас, Ҟанчобеи уаҳа дмыргәаҟкәа, дахьцаз,

дахьааз, иибаз, иаҳаз зегьы ԥкаауа, еиҳәеит. Али-ас зегьы ҳәаны далгаанӡа Ҟанчобеи аиарҭаҿы иҿизышьҭакуамызт. Дшаалгаз, ашырҳәа дҩеихан, ииарҭа даақәтәеит, акы змыхьӡоз аӡә иеиԥш.

Абыржәыҵәҟьа сҩагылан сцаны Дата сидныҳәалароуп. О, бара, бабаҟоу, сымаҭәақәа сза-ага, ҳәа иԥҳәыс илызҿиҭит (Акҿаҩра дыкҿан ахәы лырмазеирц).

– Ушоура тәаанӡа адәахьы удәылымҵын, агәаҵәыхь ахь ииасыр алшоит. Мчыбжьык аиарҭа уҽылак ҳәа уарымҳәахьеи аҳақьымцәа. Иаачҳа. Уи уара ушычмазаҩу идыруеит, – дилабжьарц далаге-ит, аха имуит.

– Сшоура анбатәои ҳәа сзыԥшуам. Балга, бласы, ибасҳәаз бмаҳаӡеи (ишалымҵуаз анылба, имаҭәақәа ааган илҭеит)?

Page 328: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

328

– Дшақәымгәыӷӡоз ари еиԥш аниоуҳәа, дышԥаҟалеи? – ажәжәаҳәа иҽеилеиҳәан, Алиас диазҵааит.

– Абыржәоуп санаауа, макьана иара ишҟа сым-неиӡацт. Шәара шәҿоуп аԥхьа сахьааиз, ҳаицны ҳнеины еициаҳҳәар еиҳа еиӷьхап ҳәа сыԥхьаӡеит. Шәгәы шыбзиамыз здыруазҭгьы сааӡомызт. Шәаанха, шәыҟаз, ишшәалҳәаз еиԥш, шәчымазара еицәашәтәыр ҟалоит, – ҳәа дааныжьны дцарц да-лагеит, аха Ҟанчобеи иуазма. Сара счымазара иеиԥшым. Уара анцәа ииныҳәаша, уи ихьаа хызҽуа «ахәшә»изааугеит. Абыржәыҵәҟьа изаагароуп. Ари еиԥш «ахәшә»иара изы хәы амаӡам, – иҳәан. Али-ас иаԥхьа дгыланы, ашҭа даннықәла, ишьамхқәа иҵаҟәало, ишьапқәа иахьиҭаху изықәмыргыло, на-даада дырго иалагеит, аха имч еизганы ишьапқәа рахь илбаашьҭны, иҽкамыжькәа агәашә дҭыҵит.

– Скаҳауазаргьы сышьҭыхны сугароуп. Даҭа иҷкәын Сафарбеи данҭахаз, сара соуп иазҳәаз иҵәҩаншьапы шыҵшәаз. Уажә иасҳәароуп иҵшәаз аҭыԥаҿы ҩба шгыло.

Ашҭа ианҭыҵ нахыс иҽирӷәӷәеит, дгәаҟуан, лас-сы снеины Даҭа исызиаҳәандаз ҳәа. Амҩа ишықәыз ирцәылашьцеит. Маҷгьы бжьаӡамызт, машьынак ма ирԥымлеит, ма ирхьымӡеит. Шьапыла мацара цатәыс ироуит. Аҭаацәа жәпа анааилатәоз аамҭазы Даҭа игәашә иаадгылт.

...Даҭа, иаԥхьаҟа бзиарак изыԥшуп ҳәа агәыӷра акәым, иԥхыӡгьы иалашәомызт, агәырҩа дагахьан.

Ауаҩыдара иунамырҟаҵо ҳәа иҟоузеи, игәырҩеи иареи анааизынхалак, аҩны ихы изыҩнакуамызт, еиҳарак уахынла акәын агәырҩа ихаԥаны данакуаз. Усҟан илеи ицгәи рацәажәара далагон, аамҭа алас-хызгоит ҳәа. Аллеи ацгәи наџьнатә аахыс еиӷацәоуп. Еибабар ҟалаӡом, аҩны аҩнуҵҟа еидтәало, еидгыло,

Page 329: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

329

еицыхәмаруа акәым, ашҭа ҭбаа ду иқәибаргыломызт. Аха Даҭа илеи ицгәи иԥсы иаԥшәмахеит, еисуамызт, еимак рымамызт, еиҩызцәахан, еизааигәаханы еи-цынхон. Аԥшәма илеи ицгәи ахьӡқәа рыхьӡҵаны иман, рыхьӡқәа ҳәаны ианрызҿиҭлак, иааины наҟ-ааҟ иааидтәалон, иҳаиҳәарызеишь рҳәозшәа иҿаԥшуа. Ҩнуҵҟала гәаҟрак шимаз ила ихырбаауазшәа, ацгәы халан ишьамхы иқәтәон. Ала неины ишьапаҿы иион аҽааиҵыхны. Ишәҭахузеи, сшәахәмарларц шәҭахума ҳәа ауаа реиԥш драцәажәо дыштәаз, – Еи, аԥшәма! – ҳәа бжьык иаҳаит. Деиханы дҩагылт ддәылҵырц, аха ашә аҟынӡа днаӡаанӡа ишьҭахьҟа даахынҳәит, слымҳа сажьазар ҟалап игәахәын. Иҭыԥ аҿы днеины дтәаанӡа, – Еи, аԥшәма, уҟоума! – ҳәа еиҭагеит абжьы. Даҭа уамашәа ибеит. «Са-фарбеи ишьҭахь, еи, аԥшәма»ҳәа ҿыҭуа аӡәы иашҭа дҭамлацызт. Дызусҭада, сызҭаххада уаха ҵхыбжьон ҳәа, днеины ашәа анааирт, иҩны аԥхьа иааины игы-лан Ҟанчобеии Алиаси.

– Шәаазгазеи ҵхыбжьон? – иҳәан, иџьеишьеит ианиба.

– Уаабарц ҳааит, ҳнаушьҭуазар, – иҳәеит Ҟанчобеи, жәабжь бзиак рыманы ишааиз иажәақәа ирылыжжуа.

– Сшымгәыӷӡоз шәанызба, бзиала шәаабеит ҳәа шәаҳәашьагьы сақәымшәеит. Шәыҩнал, шәыҩнал, – иҳәан, раԥхьа днагылан, иҩнеигалеит. Иртәеит. Исарҳәарызеишь ҳәа илақәа ҭраа дрыхәаԥшуа даан-хеит.

Ушымгәыӷӡоз ҳаузааит, ушымгәыӷӡо угәы иахәаша уаҳҳәоит, – ҳәа ҿааиҭит Ҟанчобеи, ишынатәаз еиԥш.

– Алиас, уашьа абаҟа изыҟаҵаразы Аҟәаҟа уца-ны уҟан. Иаҭахыз зегьы ҟауҵазар акәхап. Уи ами исашәҳәарц ишәҭаху? Уи еиҳау исаҳараны иҟоузеи,

Page 330: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

330

сгәы аанызкылаша ҳәа аҽакы. Уи ахәаша ибаҟа ргы-ланы избар, иԥсы ҭоушәа сгәы иабалап сыԥсаанӡа.

– Ииашоуп, уи гәаанкылагоуп, аха аҵкыс еиҳаны угәы шьҭызхша, узыргәырӷьаша, зынӡа узқәымгәыӷӡоз аҽак ҟалеит, убри уаҳҳәарц ауп ҳзааз уаха аҵхыбжьон.

– Исашәҳәозеи? – иҳәеит Даҭа. – Сгәы хаҳәхахьеит. Шьҭа сара сзыргәыӷьо ҳәа акыр ҟалараны иҟоума. Игәы ҳарӷәӷәоит ҳәа шәаазар акәхап. Уи шәаҟәыҵ, ҭынч ҳаицәажәап. Сара исмыхьыц исыхьраны иҟоузеи, макьаназ сшьапы сықәгылоуп. Сыҷкәын ихьӡ ласырҟәуам, сшьапы сшықәгылоу сыԥсыроуп.

– Даҭа, аԥсра уахымыццакын. Иаарласны Анцәа иҳәара уалагоит абарҭ рыбзиара збаанӡа сумшьын ҳәа.

– Анцәа иныс, Ҟанчобеи, исзеилкаауам. Абарҭ рыбзиара збаанӡа ҳәа ззысҳәаша дшысзаанымхаз уара иумдыруеи.

– Иумоуп. Анцәа урыцҳаишьеит. Аӡә иакәым, ҩыџьа умоуп. Изусҭцәоу Алиас иуеиҳәоит уажәы.

Исоуҳәарц иуҭахузеи... – Алиас ишҟа даахьаҳәын днеиҿаԥшит, игәы ҭыҵны ицо.

Шәыԥхыӡ лабҿабахеит. Ҩыџьа ахацәарԥар амаҭацәа шәымоуп.

Даҭа ари еиԥш аниаҳа, аԥхьа иԥсы илышәшәеит, иҿы изеихымхуа даанхеит. Алиаси Ҟанчобеии, иҵегьы дазааганы иаҳҳәандаз ҳәа, ирцәымыӷханы ишихәаԥшуаз, иԥсы илалан, ишәҳәо иашоума ҳәа иааҭирҟьаз ибжьы ашҭа анҭыҵ угылазаргьы иуаҳауан.

– Даҭа шәыԥхыӡ лабҿабахеит. – Уԥхыӡ лабҿабахеит уҳәама? – ҳәа Алиас диазҵаауан уажәы-уажәы дтәо-дгыло. Агәра изгомызт. Игәы дырӷәӷәарц, агәырҩа иҽеимҭарц азы иарҳәазшәа акәын акыраамҭа ихаҿы ишизаамгоз. Днартәаны, Алиас ишиԥшааз атәы зе-

Page 331: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

331

гьы аниеиҳәа, дҟәызгаӡа даанхеит азныказы, аха ахәыҷқәа аҩыџьагьы раб иеиԥшуп, аӡәы раб ихьӡ ихьӡуп. Раб иеиԥш аҽы бзиа ирбоит, аҽтәы спор-тшколахь иныҟәоит ҳәа аниеиҳәа, инагӡаны агәра игеит. Агәылацәа еизганы ачара зуеит ҳәа далагеит. Алиаси Ҟанчобеии идмырҟаҵеит. Ашколаҿы ишаа-урыжьлак еиԥш, ран илыманы иаауеит. Усҟан ачара ду аауеит ҳәа иаҳәан дазааргеит, ишимуаз.

Алиаси Ҟанчобеии абри еиԥш ажәабжь иаҳәаны, игәы рҿыцны ианца ашьҭахь, игәырҩеи ихьа-аи, дыкны дызгоз ихыԥсаан, иимбацыз имаҭацәа рызхәыцра дшаҿыз иршеит.

Ашьыжьымҭан дгылан, ажьакца иагахьаз иеи-хеи, иеигәышәи аацәырганы, иҩны аԥхьа абарҵа дыҵатәаны ахра дшаҿыз, игәылак диасны дышцоз аниба, иџьеишьеит. Иҷкәын данҭаха нахыс, инапы акамкуа ишыҟаз идыруан азы, дрыцҳашьаны дивсны дцеит, илаҿымҭӡакәа. Дхынҳәны данаауаз, иажәны акаҳара иаҿыз игәараанда аҵәҩанқәа ҵәрыԥсаны иарсуа, арҿыцра дшаҿыз ибеит. Агәараанда, акәым, иҩны бганы еилаҳауазаргьы дхьаԥшны дахәамԥшуа, ҩынгьы гәарагьы зысҭахузеи ҳәа згәы каҳаны, ис-залоузеи адунеи ҳәа зхы рацәазшьоз, акы дшаҿыз аниба, игәы иахәаны, дивсны дымцакәа, бзиа ууит иҳәан, дааидгылт.

– Бзиара убааит! – иҳәан, Даҭа иҵәҩан аҽыгәҳәа инаирсын, игәыла аԥсшәа иеиҳәеит.

Агәыла ииҳәо иҿамшәо дгылан дихәаԥшуа да-наанха, дызҿу закәызеи анхара нап аиркыма ҳәа иузымбатәбараха усыхәаԥшуашәа збоит, иҳәеит. Ааи, ҿыц анхара салагеит, сыҵәҩаншьапы иҵшәахьаз ирҿыцны арсра саҿуп, иҳәеит. Аха аҵәҩан арсра ам-чреи агәаԥхареи изҭаз атәы имҳәеит.

Алиаси Ҟанчобеии аухантәарак идтәаланы амаҭацәа шимоу агәра шидыргазгьы, инагӡаҵәҟьаны

Page 332: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

332

изхаҵомызт, дара ааны ихаҭа ибаанӡа иаргамеитәырц иҭахымызт.

Адырҩаҽны, Даҭа игәыла аӡлагараҿы, иҿыцу жәабжьык саҳауазар ҳәа дахьнеиз, иаԥхьа иааихьаз дшырбаз еиԥш, ҳзеигәырӷьаша ак ҳаҳаит, уи уара иу-зымдыруа уҟаларым, угәыла иоуп, аиаша ҳауҳәароуп ҳәа иааикәшеит, атәаха имҭо.

– Ишәаҳазеи? – иҳәеит атәарҭа аҭыԥ анирҭа (ашьап хьаа иман).

– Угәыла Даҭа иажәымҭа зынӡа ицәгьамхеит, иҳаҳаз иашазар, амаҭацәа имазаап, Урыстәыла џьара иҟазаарын, Алиас дрышьҭалан иԥшааит. Ирласын-гьы изаауеит рҳәеит. Иҵабыргны анцәа иҟаиҵааит. Ус ак ыҟазар уара иумдыруеи? – аҳәаха рибаҭомызт.

– Ишәҳәо иашазар ҟалап. Иара егьсеимҳәеит, аха иацы дызҿқәаз рыла акалашәа дызбеит.

Агәаҟра анизыҟала нахыс, анхара-анҵыраҿы инапы аашьҭыхны ак ҟаиҵо дсымбацызт. Иацы ажьакца иафахьаз иеихеи иеигәышәи цырцыруа ихны, аҵәҩанқәа ҵәрыԥсаны иарсуа, игәараанда акаҳара иалагахьаз арҿыцра даҿын. Санааидгыла, сыҵәҩаншьапы арыӷәӷәара саҿуп ҳәа сеиҳәеит.

Шьҭа еилыскааит, уи ииҳәаз изырҳәоз, изырҟаҵоз, дыззыԥшыз имаҭацәа шракәыз. Шьҭа иҵәҩаншьапы шмыӡуа аниба, игәгьы шҿыцхаз. – Иажәа ҳәаны дшаалгаз еиԥш рызегьы ҩагылан, ацәажәара ҳазҿу ҳааҟәыҵны, ҳшынеибарку ҳцаны Даҭа ҳидныҳәалап. Иҷкәын Сафарбеи иара ихала иакәӡамызт дызтәыз, ақыҭа зегьы ҳаҷкәын иакәын. Дабиԥазаҵәын, Даҭа сыҵәҩаншьапы ыҵшәеит ҳәа ихы ицәымыӷханы дшыҟаз, ари еиԥш аразҟы – ҩыџьа ахацәарԥар, амаҭацәа анцәа ианииҭа, идныҳәалара мацараҿы даанҳажьуама, ақыҭа зегьы еизганы ача-ра ду аауроуп, – рҳәан, аӡәы идамхаргьы аӡлагараҿы даанымгылакәа, Даҭа ишҟа ицеит.

Page 333: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

333

Алиас Ростовнтәи агәырӷьаҿҳәаша ааганы, Даҭа игәырҩеи ихьааи хҽны, лафк иҳәаргьы цәгьа имбо аҟынӡа игәы шьҭыхны, ҵхыбжьон иҩны днеины дышьҭалт. Дааԥса-дкараха дыҟан. Игәы рҭынчны иԥсы ишьарц иҭахын, илацәа ҭаауа ианалагоз аамҭазы, еиҭах аҽа хәыцрак ааизкылсын, иҟьаҟьаӡа иаашаанӡа ацәа иааигәара иаанамышьҭит. Иҵӡоз Шьазина лыбзиабара игәаҵан иҭаҵәахны имазижьҭеи. Шьа-зина аԥшӡара дыкны даго, деихышәашәо, Сафар-беи лареи рыбжьара дрыбжьԥраауа, икәашо асце-на ианеицықәыз рмахәарқәа анеидкьысла, ихьыз изымдыруа, ишьапқәа еилаԥсо ишалагаз, мцак иц-расны ихы инаркны ишьапаҟынӡа илҟьан ицазшәа иибаз. Шьазина лышҟа даныԥшы, ларгьы иара иц-расыз лыцрасызшәа, лӡамҩақәа ҭыҵәрааны ицо, дыԥхашьаны лхы агарҭа лмоуа дшыҟалаз. Иахьо-ума шәанеибабаз... шәшьапқәа еиқәшәыршәа ҳәа шреиҳәаз. Алиас имаҳаӡазшәа илаԥш излыҟәгомызт, иахьада димбаӡацызшәа дышлыхәаԥшуаз. Уи аҽноуп Алиас абзиабара ала данҭаԥшыз, ахаара агьама ани-баз, данаанахәаз, мҵәжәҩаҵас иҵасны данарԥрыз. Уи аҽны нахыс Шьазина леиԥш аԥшӡара змоу, абла гәыҭбаа-гәыкқәа зхоу адунеи аҽаӡә дықәым ҳәа оуп игәы ишинарбаз. Уинахыс есымша дызбалан-даз ҳәа лышҟа игәы ихо иалагеит. Аха аолимпиа-дахь ицаны, аԥхьахә ганы, ахҩыкгьы Очамчырантәи ихынҳәны, еибаргәырӷьо ишаауаз, иаазгоз автобус аныҟәцаҩы аҭаҭын ааихәарц дәқьанк аԥхьа ианаа-никыла, Алиасгьы амашьынаныҟәцаҩ дишьҭаланы дналбааԥан, адәқьан дныҵаххын, ахҩыкгьы рыцыԥхьаӡа ашоколадқәа аахәан данаахынҳә, игәалаҟазаара зегьы аабжьнахит Шьазинеи Са-фарбеии ртәашьеи реихәаԥшышьеи аниба. Иара иеиԥшҵәҟьа акәын Сафарбеи Шьазина иблақәа лыд-халаны дышлыхәаԥшуаз. Алиас имбазшәа ҟаҵаны

Page 334: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

334

днеины днатәеит деиқәышьшьы. Даргьы Алиас дша-аиз рызгәамҭаӡеит, Сафарбеи Шьазина ихы налыд-кылан ак леиҳәеит. Илеиҳәаз Алиас илымҳаҟынӡа изымааӡеит, аха Шьазина уи даара илгәаԥханы дшарччаз ибеит. Лыбзиабара игәы рҭәуа иҭалахьаз инҭыкәкәа ицазшәа игәы ҭацәӡа иааҟалеит.

Ауаҩ зыда дхәарҭам абзиабара акалашәа иҟоуп. Зны амҵәыжҩа инаҭоит, дарԥыруеит. Аҽазны имырбаӡакәа имҵәыжҩа ҵнарҟәыдаауеит, дышха-нагало еиԥш дылбаанагоит.

...Аԥхьаҵәҟьа дааиланаргьежьит, ихаҿы изаамге-ит Сафарбеии Шьазинеи рхымҩаԥгашьа, аха дацрам-леит. Ирласны ихирԥсааит. Ихы агәра аиргеит игәы дшажьаз. Ус егьыҟалеит. Адырҩаҽны ашколаҿы ианеиқәшәа, аиҵбыра классқәа рҿы иантәаз еиԥш аԥсшәа леиҳәеит, иблақәа зынӡа илыдмырхалакәа. Аха лара ус зыҟоуҵозеи ҳәа агәынамӡара шло-уз лхы-лҿы ианибааит, лыблақәа ирхибааит. Ахьшәашәахара иаҿыз игәы иҟәандашьшьыраӡа иааҟалеит.

Зегьы рҭыԥқәа рҿы инеины игылан, арепети-циа роуаанӡа. Уи аҽны, ахәылбыҽха, рқыҭа акуль-тура Аҩнаҿы иқәгылон аҵаҩцәа рышәаҳәареи рыкәашареи акружок. Сафарбеии иареи Шьазина рыгәҭа дрыбжьаргыланы еивагьежьуа ианаақәла, аҳаҷаҳәа иааигәалашәеит, абас ишеицыкәашозтәи амш – ахаан ихамышҭуа изаанхаз...

Дыԥхашьеит, дҟаԥшьхеит усҟан, дықәҵны дцан, акофҭа шкәакәа амаӷра ау лышәҵаны дааит. Дшааҩналаз еиԥш, Алиас ииҳәо дақәымшәо даанхеит. Сахьылкьысыз азоуп лмахәар зегь зхылҩаз ҳәа уаҳа налымшо аҟынӡа ицәымыӷхеит, абас ахьицәыҟалаз. «Саҭамыз»ҳәа леиҳәарц дшаҿыз, разыҟаҵаҩ дааҩналаны, иаразнак арепетициа иалагеит. Инарыгӡоз аномер зегь реиҳа иргәаԥхоз акәын. Шьа-

Page 335: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

335

зина дгәыҟаҵагаха, деихышәашәо, деихатыруа рыгәҭа дыбжьакәашон. Уи аҽны арепетициа иахьынӡаҿыз Сафарбеи ишҟа дԥыр-ԥыруа данаақәгьежьаалак, лхы шьҭыхны, деихаччо диҿаԥшуан, Алиас ишҟа данаахьаҳәлак, лхы лалырҟәуан.

Арепетица ашьҭахь адәахьы иандәылҵ, Сафарбе-ии Шьазинеи еизныжьны, днаскьан даагылт, амҩаду ахь дыԥшуа, гәалак шимаз аҟара инубаауа.

– Улахь еиқәушәа збоит. Избан? – лҳәан, Шьа-зина дааидгылт. Алиас усҟанҵәҟьа адыдыбжьгьы иаҳауамызт, ахәыцрақәа хара дыргахьан, аха Шьа-зина лыбжьы аниаҳа шьҭахьҟа даархынҳәит. Ихы ҩышьҭыхны даныналҿаԥш, лылблақәа хааӡа ԥаса еиԥш дышихәаԥшуаз аниба, игәы нҭгәырӷьааит.

Ашкол ралгара ааигәахон.Алиас Шьазина лыбзиабара зны имцаха ицралон,

зны иҿыцәаауан.Абас иҟан ашкол иалгаанӡа. Аԥышәарақәа

ҭины абжьа ратә школ ианалга ашьҭахь, зегьы иааибыҳәаны Риҵаҟа аекскурсиа ицарц рыӡбеит. Ицараны ианыҟаз аҽны, ианеибырҳәаз аамҭазы, иахьеибырҳәахьаз аҭыԥаҿы Сафарбеи ида аӡәы дагымкәа еиқәшәеит. Уажәымзар уажәы дааиуеит ҳәа ишизыԥшыз, «Сара исзыԥшны иаанымхааит, сызнеиӡом, аҽаџьара цатәыс исықәшәеит», – ҳәа шәасҳәарц Сафарбеи сааиҭшьҭит ҳәа игәыла ҷкәына хәыҷык дааны иреиҳәеит.

Аӡәгьы игәамԥхаӡеит Сафарбеи дахьақәымшәаз. Иара иакәын аекскурсиахь ацара еиҿызкааз.

Амҩа иқәгылан. Рҽазыҟаҵан иҟан. Риҵа ԥшӡа абара иаргәаҟуан. Сафарбеи дақәымшәеит ҳәа иаан-гыларызма ҩажәиԥшьҩык?

– Ҳаззыԥшузеи? Ҳдәықәышәҵа, – иҳәан, рҩызак даа рылҵын, ирзыԥшны игылаз автобус ахь иҿынеихеит.

Page 336: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

336

– Сафарбеи иакәын иаԥшьызгаз аекскурси-ахь ацара. Иара дааныжьны ҳцарыма? Иахаагар иҟалозеи? – лҳәеит Шьазина, автобус аҭалара иана-лагоз аамҭазы.

Иахырҳәаара рзымдыруа иаанхеит рызегьы, Шьа-зина абас анылҳәа.

– Шьазина илҳәаз иашоуп. Иахаагап, Сафарбеи да-аныжьны ацара иашахом, – иҳәеит Алиас, Шьазина ла жәалагала аӡәгьы егьанахимҳәаа. Уи згәамԥхақәаз ҟалазаргьы, ақәҿырымҭит. Иааиуа асабшаҽны ҳцап ҳәа еибырҳәан, равтобус аурышьҭын ианааилагыла, Риҵаҟа ҳзымцеит, аха ҳхәыҷра зегьы ахьаҳхаагаз, иҳазгәакьоу ҳашкол ахь ҳамҩахыҵып, ҳазхара ҳаицәажәап. Иаҳҳәаша иаҳгәалаҳаршәаша рацәаны иҳамоуп, рҳәан, ашҭа инҭалт, актәи акласс инар-кны ажәеизатәинӡа ргәаларшәо. Ргәы азыхьуан шьҭарнахыс иаанрыжьуа рышкол гәакьа. Рызхара ицәажәеит, зегь ргәаладыршәеит, ихәмарит, иччеит, шьыбжьышьҭахьынӡа аамҭа гәырӷьахәла ирхырге-ит. Реимпымҭаз ашәа ҳәаны, икәашаны еиԥырҵырц ргәаԥхан, ашәаҳәареи акәшареи иалагеит. Алиаси Шьазинеи рыда зегьы кәашон. Уажәымзар-уажәы иқәлоит ҳәа иԥшын, урҭ реиԥш икәашоз ашкол аҟны аӡәгьы дыҟамызт. Ианықәымлаӡа, шәкәаша ҳәа рыҳәара иалагеит. Ирмуӡо ианалага Алиас дықәлеит, агәалаҟара шимамыз инмырԥшкәа, аха Шьазина деиҭамҵит. Бицкәаша ҳәа лҩызцәа дыркит. Иахьала сгәы алаҟам акәашара лҳәан, илымуит. Мап анылк, Алиасгьы иҽықәмырхакәа дықәҵит.

«Илыхьыз ҳәа акрыбдыруама? Дыз-ицымкәашазеи?»

«Сафарбеи иакәызҭгьы дицымкәашар луазма» – ҳәа ҩыџьа хәыҭхәыҭуа ишеибырҳәоз илымҳа иҭасит. Сзықәлазеи иҳәо дааҟанаҵан, днаскьаны даагылт. Уи ашьҭахь иҟаз ахәмарра, ахьӡыртәра, алафҳәара

Page 337: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

337

акгьы иҽалаимырхәӡеит, хәыцрак дҭагалан даман.Аамҭа рхыргеит ргәы ишаҭахыз ала, ихәло ианала-

га, «Риҵа ҳцаны ҳааит», шьҭа ҳаҩнқәа рахь ҳцап ҳәа ашкол ашҭа ааныжьны иандәықәла, Шьазина аҩныҟа умцаӡои, уаала, ҳашьҭы, лҳәан, лҩызцәа аӡӷабцәа даарылҵны днеин, Алиас дааидгылт. Лыбжьы убри аҟынӡа ихааны игәы иқәыҩит, деимырхха дызмаз ахәыцра иаразнак даалнахит. Ашкол ахь ҳанаауаз, ҳанцоз мҩабжьаранӡа ҳаимҩалацәан, издыруа-да шьҭарнахыс зынӡа ҳаимҩа лацәахарц лҭаххазар иҳәан, «уаала умцаӡои» ҳәа илҳәаз даамҵанарсит. Длыцны иҿынеихарц шьаҿақәак ааихигахьан еиԥш, Сафарбеи данааигәалашәа, иара уаҵәҟьа даангылт. Сара аҽаџьара цатәыс исымоуп иҳәан, ишьҭахьҟа даахынҳәит.

«Иҟасҵаз иашаӡами?» – Ихы дазҵаауан, Шьазина дааныжьны аҽа мҩак даныланы дахьцоз.

«Ииашаны иҟауҵеит. Лҩызцәа маӡала еибырҳәоз улымҳала иумаҳаи, «Сафарбеи иакәызҭгьы дицымкәашар луазма»ҳәа. Урҭ акы рзымдырузҭагьы, ус рҳәозма. Сафарбеи, Шьазинеи бзиа ишеибабо рдыруеит... уԥсеиԥш иуҭаху уҩыза игәаԥхаз сар-гьы бысгәаԥхоит, ҳәа улываҩуа улышьҭамлакәа уҽахьаанукылаз, «ииашан иҟауҵеит» ҳәа игәы иҵанаҳәон.

Аишьцәа реиԥш иеизааигәаз еибамдырӡакәа Шьа-зина бзиа дырбеит. Аха еицәыхараханы еицәнарӡыр ҳәа ишәаны, насҭха илыцәгыло иалагеит. Аӡә ибзиа-бара аҽаӡәы даԥырхагахар ҳәа ишәаны еихӡыӡаауан. Зны заҵәыкгьы иаацәырган иаламцәажәацызт. Гәыла еибадыруан, гәыла еицәажәон.

Абас ишеибарԥшуаз, ишеихыбаауаз аҩыџьагьы егьры-зламҳәаӡакәа, лыбзиабара ргәы иҭахәхәа ишҭаз иаанхеит, рымҩақәа хаз-хазхеит. Шьазина лҵара ацҵаразы Краснодарҟа дцеит.

Page 338: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

338

Алиаси Сафарбеии аҵара Аҟәа иҭалеит. Иреиҳау аҵара иурҭақәа ианрылга, рқыҭахь ихынҳәны аусура иалагеит.

Шьазина лҵара даналага, шықәсык Краснодар даанхеит. Усҟантәи аамҭазы, уи еиԥш аԥҟара ыҟан, аҵара ду иалгоз, дахьалгаз атәылаҿацә аҿы шықәсык аус имукәа адиплом инапаҿы ирҭомызт.

Шықәсык аус уны, лдиплом лыманы дхынҳәит, данааз амзазы аибашьра иалагеит. Аӡәи-аӡәи еи-бабо, еицәажәо изыҟамлеит. Аибашьра хлымӡаах иҟалаз, еицәнарӡит, еицәыхаранатәит.

Ега ус акәзаргьы, Алиас ега мбатә ихигазаргьы, Шьазина игәы дҭынҵәаӡомызт. Ишеицыкәашоз рмахәарқәа анеидкьыслаз, раԥхьаӡаакәны абзиабара ацыԥхь еиԥш илҟьаз, ҿыцәаарак амаӡамкәа уажәы-уажәы ихааӡа иоуразоуроу илсны дааимнадон, аха лыбзиабара иҽеиҭар, Сафарбеи дицәыхарахар ҳәа дшәон.

Сафарбеи данҭаха нахыс, зынӡа дицәыӡит, илыԥс-ҭазаашьаз ҳәа егьиздыруамызт. Лыӡбахәгьы аӡә дала-цәажәо иаҳауамызт. Дыхәны Москва данышьҭаз, ҽнак зны, Шьазина игәы дыҵалаӡан, длызхәыцуа, реизыҟазаашьа зегь игәаларшәо, абас ҳаицәыӡӡома лареи сареи ҳәа ихы дазҵаауа, аҭак изыҟамҵо апалатаҿы дахьышьҭаз Аҟәа нтәи ибара ҳәа дизнеит Сандра. Уи мызкахьы знык данымаауаз ыҟаӡамызт.

Алиас Сандра данибалак иԥсы еивигон. Иқыҭауаа зегьы ибазшәа игәы ҟалон. Ишԥаҟоу, ишԥану ҳәа хьыӡҳәала зегьы дразҵаауан, Шьазина лыда. Иҭахын даарагьы Шьазина лтәы иаҳар, аха Сафарбеи иԥсы ҭаны Шьазинеи иареи дрыбжьагылоушәа игәы иабо далагон. Диазҵааӡомызт.

Сандра аҵыхәтәан даныҟаз, дмаацижьҭеи ақыҭаҿы иҟалақәаз зегьы ртәы дшалацәажәоз, «Шьа-зина иҟалҵаз»ҳәа иажәа иналаиршәит.

Page 339: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

339

– Иҟалҵазеи? – Алиас игәы нҭыԥсааит. Хаҵа дце-ит ҳәа ауп игәы ишаанагаз... «Дымцаргьы ишԥалуаз, Сафарбеи дҭахеит... Лхы лражәуазма.» – Игәы дынҭахәыцит.

– «Иҟалҵаз»сымҳәеит, «Илҳәаз»ҳәа ауп ишуасҳәаз.

– Илҳәазеи? – Алиас илымҳақәа хахаӡа иааҟалеит.Арахь санаауаз аламҭалаз дызбан, Алиас

дышԥаҟоу данбаауеи ҳәа дсызҵааит, – иҳәеит Сан-дра.

– Хаҵа дцахьоума? – ҭаха имҭо иӷрыхоз дазымҵаар игәы иамуит.

– Мап. Уи ахаҵацара лыгәгьы иҭаӡам ҳәа ауп ишыздыруа.

– Аус абалуеи?– Аусурҭа абаҟоу. Ишудыруа, дтехнологуп. Ачаи

фаб рикаҿы аусура дахьалагаз, аибашьра ашьҭахь ицәдырҳәит. Иҩнагылаз амаругақәа акаанмыжькәа идәылган ир геит.

– Ауаа иҿырхуа ачаи абаргои? – еиҳа-еиҳа деилашәо далагеит Алиас.

– Угәы ԥумжәан, суҳәоит. Ачаиҿыхра иаҟәыҵхьеит. Уи азоуп Шьазинагьы лыҩны дызтәоу.

Рцәажәара акыраамҭа инымҵәаргьы ҟалон, аҳақьым еҳәшьа дааҩналан, апроцедурахь ддәылганы длымгазҭгьы.

...Алиас, Сандреи иареи реицәажәара ашьҭахь, Шьазина игәы дыҵалаӡеит, акыраамҭа иахиҳәаара издырамызт. Аҵыхәтәан, днатәан, асалам шәҟәы лзиҩит... Абжьааԥны акәым, аԥсреи абзареи дан-рыбжьагылазгьы игәаҵа иҭаҵәахны имаз лыбзиаба-ра дшахьчоз, иахьагьы уахагьы дышлызхәыцуа, игәы дшыҭнымҵәо атәы зҳәо. Иҩны далган, Сандра ина-пала илзысышьҭуеит ҳәа аконверт аҭаҵара дшаҿыз, «Узҿу закәызеи, иара дхарахеит, акгьы ибом, ак-

Page 340: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

340

гьы иаҳауам ҳәа изуулакгьы ҟалома? Зхы уқәызҵоз уҩыза гәакьа бзиа иибоз иԥсы дацәганы дызгоит ҳәа уаҿума? Улышьҭыҵ. Уара угәы иҭоукыз иара иԥсы иабоит. Иара дыҟам ҳәа иԥсы умыргәаҟын. Иԥсы рыцҳашьа. Уара уҭыԥаҿы иара дыҟазҭгьы абас узи-урызу,» ҳәа иҩныҵҟантәы бжьык лахь инаҭазшәа дааҟалеит. Иаразнак дахьнархәит, игәы аанарҳәит...

Иазиура изымдыруа, инарыҳәы-аарҳәуа дшахәаԥшуаз, Сандра дааиран дшыҟаз анааигәалашәа, идибалар ҳәа дацәшәан, иԥыжәжәаны икаиԥсеит.

...Алиас Москвантәи дхынҳәны дааны, Даҭеи иа-реи еиқәшәаанӡа, Шьазина иҽахьылзааигәаимтәуаз ииашан иҟасҵоит ҳәа иԥхьаӡон.

«Аҭаацәара дахьымӡагәышьеит. Уи еиԥш аразҟы уи арыцҳа имамзаарын. Ианамуӡахгьы, аӡәи иареи еигәа ԥхеибашьаны ишыҟаз здыруазҭгьы, сыԥсы ахьынӡаҭоу слышьҭазаарын. Дызбацыԥхьаӡа иԥсы ҭаны иара дызбозшәа сгәы иабо сҟамлози. Аха зтәы иамуа, итәы иауӡом ҳәа шырҳәо еиԥш, уахь алагьы егьҟамлеит. Абри ауп ажәымҭа еиқәаҵәа захьӡугьы ҳәа, Даҭа ауаз аниҳәа ашьҭахь, игәаанагара аҽаԥсахит.

Сафарбеии Шьазинеи ус ак рымаҵәҟьазҭгьы лҩызцәа аӡәи ҩыџьеи ирзымдыруа иҟаларымызт. Ҿык иҭыҵуа шә-ҿык ирҭалоит ҳәа, ԥыҭҩык ирмаҳакәа аурымызт. Ари еиԥш арыцҳара аныҟалалак анасыԥ аиура иазыԥшу илнымԥшырц залшом. Ашәыҵәҟьа лшәылымҵаргьы шықәсык ҵаанӡа маҭәа шкәакәала лҽеилалҳәом. Арыцҳара иақәшәаз ани аби рзы гәырҩа рыԥсыҽгоуп, зны-зынлагьы ԥсеивгароуп. Дырбацыԥхьаӡа ргәы абаау-еит, ирцәыӡыз дырбазшәа ргәы ҟалоит. Аҽа насыԥк лоуны аӡәы диццарц далагаргьы дара дырҭыԥҳаушәа деихраҵаны дрышьҭуеит. Ларгьы урҭ рыԥсы ахьынӡаҭоу лани лаби реиԥш илбоит, илаҳауеит.

Page 341: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

341

Даҭа ишиҳәаз еиԥш арҭқәа ҟамлаӡеит. Ус анакәха, издыр уада сгәы сажьозҭгьы, Сафарбеии Шьазинеи аиҩы зара ада аҽак рыбжьамызҭгьы. Абас шакәхоз, абзиабара ҳәа урҭ егьшрымамыз гәҩарас иҟасҵеит Ростов ихәыҷқәа анызба нахыс. Сгәы сырҭынчит. Ханеицыз угәы узырхьыша ҟасҵар ҳәа сшәон, аха усцәыхарахацыԥхьаӡа ушысзааигәахо удыруаз. Шьҭа изгәаӷьуеит, иҳәан, Шьазинеи иареи шеиқәшәаша атәы азхәыцра далагеит.

Москвантәи данаа ашьҭахь, изныкымкәа аԥсрақәеи абзарақәеи рҿы еиқәшәахьан, аха дәыԥсшәак налаҳәан длывсуан. Даангылан лацәажәара далагар, иҩыза зда димамыз бзиа ии-боз, даныҟамла ашьҭахь, иара длышьҭалама ҳәа агәаанагарақәа ҟалар ҳәа дацәшәон.

Ҳаибабандаз, ҳаиқәшәандаз, ҳаицәажәандаз ҳәа игәы аҭра иҭамгыло, ианалага дицәыӡит, џьара ане-ира даҟәыҵит. Цәгьарак аҿоума бзиарак аҿоума џьаргьы уаҳа данимба, игәы дыҵалеит. Дабаҟоу ҳәа дҵаауа дызлышьҭамлеит. Игәы ианамуӡа, иҿынеихан, лыҩны дцеит. Аҽнышьыбжьон дааз-газеи ҳәа лани лаби ирымҳәаргьы, ргәы иаанагар алшоит иҳәан, диасны дцозшәа ҟаҵаны, агәашә да-наадгыла, ашҭа агәҭаны игылаз аҵла ԥшӡа амҵан дтәаны аԥара дшаҿыз ибеит. Ларгьы иаразнак дгәалҭеит. Аԥсшәа леиҳәеит, агәашә дҭамлакәа.

– Уҭал арахь! – лҳәан, дҩаҵҟьан, днеины агәашә изаалыртит.

Сымҩасны сцон, банызба аԥсшәа бамҳәакәа сбывсны сзымцеит.

Ибзианы иҟауҵеит, – лҳәан, длыман днеин, аҵла амҵан инаибартәеит.

– Сани саби Очамчыраҟа ицаны иҟоуп, схала соуп иаанхаз, аҩныҟа ҳнеип ҳәа зуасымҳәазгьы уи азоуп, – лҳәеит.

Page 342: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

342

Алиас дшынатәаз еиԥш даламгеит ҭаха имҭо, игәы иҭыхо иҭаз ацәыргара. Игәаӷьны даазгаз алацәажара иҽынаназикуаз аамҭазы, ҽык акьыр-кьырыбжьы илымҳа иааҭасит. Данааиз ашҭа ҽык ҭаны имбаӡеит. Шьазина лаб ианакәзаалакгьы аҽы бзиақәа ныҟәигон, аԥшәма итәы акәхап, игәахәит.

Рхәыҷра, рҿара ргәаладыршәеит, рҩызцәа аӡәаӡәала иргәаладыршәеит... Заҟа ҵуазеи сгәы иҭоу аацәырган ибасҳәарц сҭахуижьҭеи ҳәа дан-налагоз, еиҭах аҽы абжьы дааннакылт. Уажәы имкьыркьырӡеит, ақәырқәырыбжьы ауп игаз. Иварахь даахьаҳәын даныԥшы, аҩны ашьҭахьала иаавҵын, рышҟа аҿаанахеит, ахы раҳаны ишьҭыхны икны. Даннахәаԥш, иааџьеишьеит, алахь ҿашаӡа, ашьҭахьтәи азшьапык хьышьашьӡа, Сафарбеи иҽы Ҟәараса акәын. Ишиашаз иааины Шьазина иаалыд-гылан, алақәа хааӡа илыхәаԥшуа, ахы лыхьнашьуа иалагеит. Нас, Алиас ишҟа ахы аанарҳәын, алақәа ырцәгьаны инарбеит, ишылхыбаауа инардыруазшәа.

Ишҟа ианхьаҳә ауп иангәеиҭаз аԥрыцә улаԥш адхало аҟынӡа иԥшӡаӡа иԥаны ишақәыз. Иаразнак иааи гәалашәеит аибашьра ҟалаанӡа Сафарбеи иҽы аԥрыцә ԥаны дақәтәаны дшиԥылахьаз.

– Заҟа иԥшӡаны иԥоузеи. Изԥада? – ҳәа дизҵааит, илаԥш адхалан дахәаԥшуа.

– Ари зԥаз лнацәкьарақәа хәхәа-хәхәаӡа заҟа иԥшӡоу удыруама. Аԥара дахьынӡаҿыз сгәы иакьысуазшәа, ашәа снарҳәозшәа акәын ишызбоз.

– Лнацәкьара мацарақәа раума ԥшӡарас илы-моу?... – даахыхәмарит Алиас.

– Зегь рыла дыԥшӡоуп, дхаауп, дгәыкуп. Аха дызтәхо дарбану здыруада, – иҳәеит Сафарбеигьы дыччо.

Игәалашәаз хара дацымцакәа, Сафарбеи уԥсы сакәыхшоуп... саҭоумҵан ҳәа, игәы ԥшаауа, Шьа-

Page 343: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

343

зина лышҟа даахьаҳәны, абзиараз уаҩ дааилааит, иҳәан, дцарц иҿынеихеит.

– Узырццакызеи? Макьана уҟазар ҟамлаӡози? – лҳәеит Шьазина, ирласны дахьцоз лгәамԥхакәа.

– Даара сыццакуеит. Аамҭа маҷны исзынхе-ит, – иҳәан, агәашә дынҭыҵны дцеит, ишьҭахьҟа дхьамԥшӡакәа.

Амҩа дахьынӡақәыз иџьеишьон аҽы Шьазина илывагьежьуа иҟанаҵоз. Алеишәа ҷыда иамаз злеи-дыруаз ала, атәымуаа ааигәара иқәнажьломызт, заҵа инеины ахы рыднамҵараз. Ихәыҷны ианынкашәаз аҽны инаркны аныда ирааӡаз, Сафарбеи инапа-ла акәын акрашафоз. Зны-зынла ашкол ахьынтәи лассы данзымаалак, иан акраҿасҵоит ҳәа дала-гар иауамызт, ахы ҟьо ацәымҳа ацәхасра иалагон. Иара инацәа аҿеикыргьы, ахш зҭоу ацәымҳа еиԥш ацәацәара иалагон.

Акыраамҭа ихаҿы изаагомызт Ҟәараса ааины Шьазина ианаалыдгыла аҽшыҟанаҵоз, алақәа разӡа ишлыхәаԥшуаз. Бзиа дбаны ахы лыхьшьуа ишлыд-гьежьылоз, иара алақәа ырцәгьаны ишихәаԥшуаз.

...Алиас Ҟәараса Шьазина лашҭа ишҭаз шибаз аӡәгьы иеимҳәеит. Уинахыс Шьазина ихәыцра дали-хырц, игәы ҭаирцәырц иӡбеит.

...Алиас иҩызцәагьы иаргьы рҽазҵәылхны иаҿын Сафарбеи ибаҟа аиааира мшы иахьыгӡаны, иара уи аҽны аартра. Уи адагьы иҟаҵатәқәаз рацәан, Са-фарбеи дахьжыз адгьыл, аҵыхәтәантәи аамҭазы, аҳәазара иалаган, анышәынҭра ҭабгарц егьагӡамызт, уи аанкылатәын, анышәынҭра зынӡа иагаанӡа.

Аҩны акәзар, аибашьраан аснариад ақәшәан, ахыб кылыжәжәа иагахьан, ахраӡагеиԥш ақәа кылыҩрны илеиуан, мышцәгьак ааҟалацыԥхьаӡа. Уи рҿыцтәын. Ашҭа шьацԥшӡамзар, ҳаскьын башак ахьымгылоз, абабира ҭиаахьан. Ибнахарц егьагӡамызт. Агәашә

Page 344: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

344

аартны уҭалар амыркаџьи ажыци иааулаԥсны урку-ан.

Ауаҩы игәы анкаҳалак, инапы ак амкуа дҟалоит. Даҭа ихьызгьы уи ауп. Сымацара агәы мыжда сықәхеит. Иззыҟасҵода, изԥызгалода ҳәа инапқәа импыҵыҩрхьан. Иҩны амца акны ибылуазаргьы хьаас иҟаимҵо аҟынӡа днеины дшыҟаз ауп Алиас дышихьӡаз. Иҵыхәтәа змырӡша, амаҭацәа шимоу аниаҳа, игәы ҿыцхазшәа ихы ибо далагеит. Адунеи изылашеит. Смаҭацәа аанӡа, анкьа сшынхоз еиԥш сҽыҟаҵаны сырԥылароуп иҳәан, аԥхьа анышәынҭра напы аиркит. Иҭабганы ишыҟоу ихәыҷқәа ирбар аҵкыс дыԥсыр еиӷьишьон. Уи дшаҿыз иааныжьны, аҩны схыбуеит ҳәа далагон, имаҭацәа шаҵаиоу қәак аҿаанахар... Усҟан сыҟамзар еиӷьми.

Агәи амчи еицажәӡом ҳәа баша ирҳәом. Агәы ажәӡом, амч ажәуеит. Стәом, сгылом, сыцәом, зегь ҟасҵароуп ҳәа игәы иаҳәон, аха имч днанагомызт.

«Уара ԥшьаала уҩны утәаз, урҭқәа зегь рыҟаҵара зыхәҭоу ҳара ҳауп,» ҳәа Алиас даакылсын, зе-гьы дырҟәыхны диртәеит. Егьырҭ иҩызцәа ршьа-пы иқәиргылт.. Аӡә ихы агирхо дыҟазма, аиҿкаара акәын иаҭахыз. Ашҭа кеикеиуа идрыцқьеит. Сынҭаԥшындаз уҳәо иԥшӡахеит. Аҩны ахыб дырҿыцит. Анышәынҭра анапы агуп ҳәа аӡәгьы изымҳәо, адгьыл еиҟарартәит, агәы дыриашеит. Ишахәҭаз еиԥш иҟарҵеит, аандажә амыхны, аҿыц акәдыршеит.

Сафарбеи ихәыҷқәа аанӡа зегьы рҽеины иҟаҳҵароуп. Ианырбалак ргәы иахәо иаднаԥхьало иҟазароуп. Раб иԥсы ҭаны дырԥылошәа ҳарԥылароуп ҳәа акәын ишаҿыз.

– Алиас, уара ахәыҷқәа рҿы уаныҟаз, раб иеиԥш даргьы аҽы бзиа ирбоит ҳәа ҳауҳәеит... Ианаауа аҽгьы дырбатәуп, – иҳәеит Ҟанчобеи.

Page 345: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

345

Идҳарбозеи, аҽы ахьыҟоу ҳаздырӡомеи, – иҳәеит аӡәы.

– Аиаша уҳәеит. Саргьы исымбеижьҭеи иҵӡозеи? Ирӷьычхьазаргьы ҳаздырам, Даҭа дызбацыԥхьаӡа дсазҵаауеит, џьаракыр иубахьазар, ма аӡбахә уаҳахьазар ҳәа, – иҳәеит Даҭа игәыла.

– Шымшәан, иаанханы иҟоуп, оумак ҵӡом Шьа-зинараа ргәашә ишадгылаз збеит. Уаанӡагьы знык-ҩынтә избахьан, – иҳәеит Ҷаӷьыц.

– Уа иназгазеи? – уамашәа ибаны дҵааит Сандра.Агәашә ишадгылаз анызба, ара иаазгазеи

сҳәан, иџьасшьеит аԥхьа, аха ашьҭахь, саназхәыц, исгәалашәеит, аибашьра аԥхьа, Шьазина ҽнак аҽықәтәашьа сурҵароуп ҳәа Сафарбеи диҳәо да-налага, ари сара сыда аҽаӡәы дақәнартәаӡом, ааигәарагьы днанашьҭуам. Мчыла бақәсыртәоит ҳәа салагаргьы иауӡом. Иауӡаргьы, сацәшәоит, ак быз-наур, – иҳәан, имуит.

– Ааигәарагьы снанашьҭуеит, сагьақәтәоит, – лҳәан, дыҩны дцан (рыҩны аладахьы ииасны ицо Кәыдры аҟә-ҵәаҿы аҽыкәабаразы ҳаизаны ҳаҟан), напсыргәыҵак азна ашьақар лыҩнынтәи иаалган, иргәыбзыӷуа, дацәажәо, хәыҷы-хәыҷла дазааигәахан, ақьышә иқәылкит. Аԥхьа иаҭахымшәа ҟанаҵан, аха агьама анаба иагәаԥхеит. Алақәа ырцәгьаны ишлыхәаԥшуаз, ашьақар алақәа ар-хааит иҳәеит Сандра. Уи ашьҭахь аҽыкәабара ҳәа ҳаннеилак Шьазина ашьақар лыман даауан. Харантәи дшабаз еиԥш иҩны илышьҭалон. Убасҟак илзааигәалтәит, дақәнартәо иалагеит. Уиаахыс маҷ ҵуама, аха даханаршҭуам, иахьагьы лгәашә аҟынӡа изнеиуа агәырхаага соуазар ҳәа ауп.

– Сандра, ус иара иуанаҳәама? – аӡә даахыхәмарит. – Изцәажәом акәымзар, сара џьоук здыруеит, урҭ

раҵкыс иҟәышуп, – иҳәеит Сандра. Еидтәалақәаз

Page 346: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

346

рахь акәу, аҽа џьоук рахь акәу, ииҳәаз захь ирхаз узеилымкаауа.

– Аиаша уҳәеит, уи еиԥш аҽ ҟәыш џьара иҟамкәа иҟаларым, аха агәра шәсыргоит, ҳара ҳқыҭаҿы ишыҟам... – иҳәеит акыр зықәрахь инеихьаз хаҵа шлакгьы.

...Алиас иҩызцәеи иареи иахьааиқәшәалакгьы иалацәажәон Сафарбеи итәы еиԥш иҽатәгьы.

Ирхаршҭны иҟазма уи аҵых мыжда ауха иҟалаз. Дранда абахҭа иақәларц, аҷкәынцәа ҭганы иааргарц ианцоз (ицәажәоз рыбжеиҳараҩык уи аухатәи аопе-рациа иалахәқәаз ракәын) Кәыдры ахықә аҟынӡа иан-неи, Ҟәараса нырцәҟа арра аҭахымхеит. Иҟалараны иҟаз ацәа иалашәазшәа, аӡы иҭамларц иалагеит. Сафарбеи ахы ишьышьит, ахәда ишьышьит, хаала ҳәа иҽазишәеит, аха иамуит. Иахьиҭаху акәымкәа иара иахьаҭахыз сцоит ҳәа иалагеит... ас еиԥш адимбалацызт. Ианамуӡа, дгәаан аҟамчы ахиҟьеит. Убри ауханӡа аҟамчы амбацызҭгьы ҟаларын, ацәа иҭанарӡыӡеит, игәаан, иууаӡа иԥан аӡы иҭаԥалеит. Дырнагеит нырцәҟа, аха аарцәҟа дазырымгеит. Акәадырҭа дахҳәаны, аӡы дагеит. Уахгьы-ҽынгьы зегь еибарыҩуа ишьҭан, аӡы аԥшаҳәа жантә еимыр-деит. Дахьагаз рзымԥшааит. Ауаа реиԥш, Ҟәарасагьы ахы нкыдҟьо аԥшаҳәа иаван. Иара даԥшааит. Иара акәмызҭгьы, ибаҩгьы ҳцәыӡуан. Аӡы дахьамаз анаԥшаа аԥаҩ иқәгыланы икьыркьыруан, иҳәҳәон, ашақә иасуан, аҽашьуан, шьапԥынҵала иахьықәсуаз шьамханынӡа адгьыл жны иҭагылан, алақәа, алаӷырӡ иаблызшәа, апырпыл еиԥш иҟаԥшь-ҟаԥшьӡа иҟан. Аӡы аҵаҟа аҵла адацқәа даанкылан дахьамаз ахь иԥшуан... Абарҭқәа зегьы ргәаладыршәон.

Алиас зынӡа ихы рыламырхәӡакәа дтәан, дырзы-ӡырҩуан, аха излацәажәоз абжагьы иаҳауамызт. Дзыз хәыцуаз Сафарбеи ибаҟа аргылара аамҭа

Page 347: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

347

рыҽрыз-ҭамыгӡар ҳәа акәын. Уи аҵкысгьы дацәшәон Сафарбеи ихәыҷқәа раб ибаҟа аартра аҽны изымаар ҳәа.

Имаар, рабду днахыԥсаа дцон. Амаҭацәа умоуп ҳәа Алиас ианиеиҳәа нахыс, Даҭа уахгьы-ҽынгьы анцәа диҳәон, смаҭацәа ааны сыла иабаанӡа сумшьын ҳәа. Дышьуа дызмаз игәырҩеи изаҵәреи ихаршҭны, амшқәеи аҵыхқәеи иԥхьаӡон, уи еиԥш аамҭа ан-базбои ҳәа. Алиас дааиқәшәацыԥхьаӡа, «Смаҭацәа зеиԥшыда зуҳәа»ҳәа даанкылан дизҵаауан. Раб иеиԥшуп. Шәҩык ирылагылазаргьы иудыруеит, ихы аахҵәаны ирхагылоушәа иеиԥшуп, иҳәон... Абарҭ ажәақәа Даҭа игәы ахәрақәа дырӷьон.

Уи азы акәын лассы-лассы иаҳаларц зиҭахыз. Алиас уи ус шакәыз идыруан азы, дибацыԥхьаӡа изеиҭаҳәара далагон. Ростов Сафарбеи ихәыҷқәа шиԥшааз, мчыбжьык еиҳаны дышрыцыз, раб иеиԥш аҽы бзиа ишырбо, шәызусцәада ҳәа урызҵаар, ҳара ҳаԥсыуаауп ҳәа шуарҳәо... Ахәыҷқәа ран Светла-на шлыхьӡу. Сафарбеи ахаан дшылхалмыршҭуа. Уи иаб сара саб иеиԥш дшысыԥхьаӡо ҳәа ишылҳәаз... Абарҭқәа зегьы аниаҳалак, иҷкәын иԥсы ҭаны иаԥхьа дгылоушәа игәы иабо дааҟалон.

Аамҭа ааигәахо ианалага, игәы дартәомызт, лассы-лассы Очамчыра дцаны Светлана ҭелла данлацәажәалак, игәы ҭынчхон, «Ишеибаҳҳәаз ауп. Аҽаԥсахӡом. Схәыҷқәа сыманы снеиуеит уи амш ныҳәа аҽны»ҳәа аҭак анилҭалак.

Алиас ари амацара акәӡамызт, ақыҭаҿы егьырҭ аусқәа иара ихы злеимырхәуаз ыҟаӡамызт.

...Алиас иҽыхәышәтәны Москвантәи дааны ақыҭа даналаԥш, аԥхьаҵәҟьа игәы цеит. Аибашьра мыжда, цәгьа мыцәгьас ианнамыжьуа ҳәа иҟоузеи?

Ақыҭа ԥсуеит, араҟа ҳаанхар бзиарас иаабозеи ҳәа рхәышҭаарақәа ырцәаны, иқәҵны ақалақь ахь аца-

Page 348: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

348

ра иаҿын. Алиас азныказы игәы цазаргьы, џьоукы ишыҟарҵоз еиԥш, ақыҭа кажьны дымцеит.

Ицаз цахьан, аха ацаразы амҩа иқәгылаз, Алиас иаара иааннакылт.

Ҳқыҭа амырӡра, аиқәырхара аӡәыр илшозар, Алиас иоуп изылшо ҳәа шырҳәоз, дааит ҳәа анраҳа нахыс, еиқәырхаҩык, еиԥш акәын ишизыԥшыз. Деилкааны дрыман, игәра ргон, ибзиан ирдыруан уи иажәа шажәаз, дышпатриотыз, иԥсы шыцқьаз. Ақыҭанхамҩа бзиан ишидыруаз, ақәнамга ҟазҵо ди-бар дышивымсуаз, дааухәарц уалагар, дшузаамхәоз, дуҭирц уалагар дшузымҭиуаз, дуршәарц уалагар душзмыршәоз. Ус дыҟан ақыҭанхамҩа данаха-гылазгьы. Ус дыҟан аӷа хәымга диҿагылан дане-ибашьуазгьы. Иахьагьы уаҵәгьы ҳара уи иеиӷьу аӡәгьы дҳамам. Ҳазегьы иаҳҭахны ҳқыҭа напхгаҩыс далаҳхуеит, Баҭаҟәа шьҭа изхоит... имаҵура дам-хызааит ҳәа игылеит ақыҭауаа зегьы еицҿакны, аԥхьатәи азеиԥш еизараҿы.

Алиас дхынҳәит, ҳанирхоит, ҳәа, еицҿакны ақыҭа жәлар ихьӡ рҳәеит еиҳабыс. Аха иара мап иҳәеит, аиҳабы бзиа дҳамоуп, Баҭаҟәа иҭыԥаҿы да-анхароуп ҳәа дықәгылт. Ажәлар ирцәымыӷхеит, аха иҿамгылеит, убасҟак дырҭахын... Даҽаӡәы иҳәазҭгьы дықәырцон, аха уигьы азмырхакәа, ҳамҭас имашьы-на ииҭеит, диҟаҭәеит, дааихәеит ҳәа анраҳа, ргәы ицәцо иалагеит. Гәрамгарҭас дышьҭызхыз ҟалеит. Ицәымӷра ркуа иалагеит иҩызцәа бжьаҩык, аха Баҭаҟәа ииҭаз амашьына (зегьы ргәы ԥызжәоз) иара зныкгьы дақәымтәаӡакәа, ахәшәтәырҭа ианеиҭа... уаанӡа ииҭихьаз ақыҭа техника ырхынҳәны иаа-ирго даналага, ргәаанагра аҽакхеит, Алиас иааба-хьац иоуп рҳәеит... Уи иҟаиҵаз жәбама, Баҭаҟәа аус дамҭаӡакәа дааиҵалан, иигахьаз зегьы иаа-иргеит. Аус даиркызҭгьы, иҳаураны иҟази, иигаз

Page 349: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

349

зегь ҭины ихы ҿихуан, ҳара аӷәцәҳәы ҳшықәтәаз ҳаанхон. Аӡәыр иигаз, иифаз аҳәынҭқарра рмал ирхынҳәхьоума?

Ишырҳәо еиԥш, ҩ-жьак икит. Акы, ҳқыҭа иалганы иигахьаз зегьы иааиргеит, ҩба, Баҭаҟәа имаҵура ахьӡ мацара аныҟәгарада аҽа уск, Алиас димазҵаакәа иара ихала изымыӡбуа дҟаиҵеит.

Ҟыҟҿыҟда, усда-ҳәысда еизашшрада Баҭаҟәа иха-ла, инапала иаиаргеит иигахьаз зегьы. Аԥхьа ииаргеит ақыҭанхамҩа атехника, атракторқәа, ацәаӷәагақәа, абульдозерқәа. Цәмаҭәада егьызмамыз анхацәа, анырхага техника анроу, аарыхра нап адыркит. Ҳхы ҳазныҟәгом, ақыҭаҿы ҳазланхо ҳамам ҳәа иқәҵны ицахьаз, ахынҳәра иалагеит. Ақыҭа ахьышьҭрахь игьежьит. Афымцалашара роуит, аӡы рыҩнқәа рҿы иназго аӡымҩангага шьақәдыргылт. Аӡәгьы имбо, аӡәгьы ашьҭыбжь имырҳауа ақыҭа акультура Аҩны иҩнагылаз аадәылганы ишигаз еиԥш, ирхынҳәны ,уахынланы иааганы иҩнаиргылеит. Адырҩаҽны лахҿыхрахеит. Ақыҭа аҿар игылаз рҿара ахьыр-хыргаша, аҟазара злоу рҟазара ахьаадырԥшыша рымамкәа абжьысра мҩахь ахьаԥшра иалагахьаз, акультура Аҩны дара рзы игәырӷьахәхеит. Зегьы еиз-нагеит. Шәаҳәарахеит, кәашарахеит, лафҳәарахеит, ччарахеит. Рыхәаԥшразы, рзыӡырыҩразы, рабацәа, ранацәа аԥхьа инаргыланы, ақыҭауаа, уахь амҩа зхашҭхьаз, анеира иалагеит. Анхамҩа знапы алакыз абна ирцәагахьаз рчаирҭақәа ррыцқьара нап адыр-кит. Икарыжьхьаз ашьапылампыл асырҭа астадион дырҿыцит, анкьа аибашьра ҟалаанӡа ишыҟаз еиԥш иҟарҵеит. Абарҭқәа зегьы раԥхьа ашкол ауп нап здыркыз. Ахыбра ақәа кылсуан, аԥенџьырқәа асар-кьа рҭасаӡамызт. Аӡынраан ахәыҷы иакәым, аду ихы изыҩнакуамызт, анаатә ҩнагьежьуан. Абарҭ зегьы аахәатәын, рыхә напынҵала ишәатәын.

Page 350: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

350

Аҳәынҭқарра аџьыба ҭацәын, ак ҭаларгьы, Баҭаҟәа иҩызцәа иааҭырԥаауан.

Ақыҭаҿы аибашьра ашьҭахь акы змоу ҳәа иҟаз Баҭаҟәа иакәын. Акапеи зымпыҵымшәоз. Алиас да-нихьча нахыс, еиқәырчаҟәаны иџьыба иҭиго дала-геит. Ашкол ахыбгьы дырҿыцит, аԥенџьырқәагьы асаркьа рҭарсеит. Ахәыҷқәа аҷҷаҳәа аҵара рҵо иа-лагеит.

– Диҿаҭәҳәама? Иҵеигалазеи? – ҳәа инеим-да-ааимдо иалацәажәон, аӡлагара инаркны ақыҭа зехьынџьара.

– Абас инапаҿы дышԥааигеи?– Митәык, мықәшәатәык изиухьеит, хымԥада. Ма

Баҭа ҟәа иԥсра ааины изқәа икыдгылоуп, акәымзар акапеи кыдҟьаны амааҭ алызхуаз, ажәлар срыцхра-ауеит ҳәа иԥара абас аҳәиҵәҳәа иҟьарызу?

– Мап, Алиас уи иҵыхәа даӷрагыланы дызлеикы-ша ак имоуп.

– Изакәхарызеишь, издыруада аибашьраан цәгьарак шыҟаиҵоз дақәикхьазҭгьы?

– Ҽнакгьы дмеибашьит, ҽырчмазаҩ ҟаҵаны дышьҭан аибашьра аанҵәаанӡа, цәгьарас иҟаиҵарыз?

Ацәгьара ҟазҵарц зҭаху дахьыҟазаалакгьы иҟаи-ҵоит.

Ус акы ыҟазаргьы алшоит. Аибашьра нҵәарц рацәак шагмыз, аҽак сылшом, аха аибашьцәа рхәы аныҟәгара сылшоит ҳәа, аштаб аҿы дааны Али-ас диҳәеит мап ицәимкырц. Аҭаҳмадцәа даара иааԥсахьан, икарахахьан, аханатә аахыс аибашьцәа рхәы ишаҵаз. Алиас дақәшаҳаҭхеит. Баҭаҟәа ар рхәы иман дцеит, аибашьраҿы саргьы сыҟан ҳәа ихы алаирқьиарц азы. Аҩынтә раан ианигаз ауха азы ауп ианҳақәымҿиаз. 4-ҩык ҳаҷкәынцәа ҭахеит. Уи аухазы ауп ҳкомандир Алиасгьы ӷәӷәала

Page 351: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

351

данырхәыз. Шәазхәыц, уи еиԥшҵәҟьа жәыларак аҿы иаҳмыхьӡацызт. Баҭаҟәа ачарҳәара ҳзиузар? Ишәгәаламшәои, аӷацәа ҳгәаҳҽанӡамкәа ҳшыҟаз ауп ишҳажәлаз. Ус митәык ҳзуны дыҟаны, ҳара иаҳзымдыруа Алиас идыруазар? Усраргамар, ҽнак хәлаанӡагьы уԥсы наргом, ишаараҳаз еиԥш уԥсы ухырхуеит ҳәа дыршәаны димазар?

Баҭаҟәа иҭыҳәрықьқәа шыҟоу ҳамдыруеи, аха Алиас данынеиҿаԥшлак, аларқача зыхьыз иеиԥш, ақачқачара далагоит. Мчыла акәымкәа, хшыҩла дыкны димазар дзымҵысуа?

Аибашьра ашьҭахь, еидиҳәҳәалахьаз ажәлар рмал ак ирхынҳәраны дыҟазма. Алиас иакәмызҭгьы, егьырҭ зегьы ҳарҟәаҵып, иахьа зыргылара ҳаҿу абаҟа, излыху агранит закәу жәбоит, ицырцыруа, ухы-уҿы анубаауеит. Насгьы, иабантәиааигеи уҳәарауазеи, адгьыл аҵыхәан, Житомир ҳәа иахьашьҭоу дцан иа-аигеит. Ҳқыҭа зегь ҳауҭиуазаргьы иазхомызт уи ахә. Баҭаҟәа иџьыба иааҭыхны ишәеит.

– Ишәеит уҳәахит. Алиас иакәмызҭгьы ака-пеи ишәараны дыҟазма. Џьоукы ус рҳәо ҳаҳауеит, Баҭаҟәагьы Алиас изиуқәаз зегьы лбааздоит ҳәа даҿымзаап ҳәа. Имашьына ҳамҭас изииҭаз, инапа-хьы дааигарацазы акәзаарын.

Ҽнакгьы дақәымтәакәа, ажәлар шәхы иашәырхәала ҳәа ахәшәтәырҭа ианеиҭа нахыс, ари сынирхом, сыхирҵәоит, сҭыԥахь анеира иҭахымшәа зыҟаиҵазгьы уи азоуп, сызго аӡы ибар ԥҳалк азна алеиҭәоит. Анышә сыҵжаара даҿуп, аха иаасҭаххар иара дҭажьны иқәсыԥсоит ҳәа иӡбан, Баҭаҟәа аш-шра дцеит араион аиҳабыра рахь. Алиас ҳәа мыж-дак дҟалеит – дысԥырыжәга, дысԥырхагоуп. Ақыҭа далганы араион ахь дааганы маҵурак ишәҭошәа ҟашәҵа, уи азын иаҭаху сара издыруеит... Анапи-анапи еибаӡәӡәоит... шәгәы нсырхом... ҳәа.

Page 352: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

352

Аибашьра ашьҭахь итрадициа мыжданы иҟалеит, ачынуаа дуқәак аԥаршеирақәа иҟарҵоз ааҳарԥшуеит ҳәа имшәаӡакәа иалагоз, ахьшь нышьҭасны кәҷышьк нарылԥааны ишаго еиԥш, иахьагоз, иахьаанагоз уаҩы имбаӡо иныбжьаӡ, иныбжьахәаша идырӡуан. Аҽа џьоукы «машәырла»иҭахон.

... Иуҳәаз ҳаҳаит, иаҳҭахым џьумшьан. Иахьа шьҭа ҳара уи еиԥш ҳзыҟаҵом, ҿыц иаҳхадыргылаз рахь уца, ашықәс анҵәамҭаз уааҳадҵаал ҳәа иарҳәеит зыҟны дыҟаз.

Урҭ рызхара рфахьеит. Насгьы, ишәаргәындахазшәа збоит. Анапхгара ҿыц иааиз макьана рызхара рым-фац, урҭ рыла иҟасҵап иҳәан, аҿыцқәа рахь дцеит. Урҭ рҿы дахьнеиз итактика иԥсахит. Шәара шәҿыцқәоуп, цқьа дышәзымдыруазар ҟалап Алиас Ахаҳәба. Ды-специалист дууп. Ақыҭанхамҩатә техника уи иши-дыруа еиԥш, қыҭа хәыҷык акәым, араион дуӡӡаҿгьы аҽаӡә дыҟамзар ҟалап. Аибашьра ҟалаанӡагьы уи анхамҩа иара иакәын иахагылаз. Аԥышәа ду имоуп. Деиҿкааҩуп. Адырра ду имоуп. Ақыҭазы дрыцҳауп. Еиҳау маҵурак дахашәыргылар, иҭыцҟьааны ибоит. Сара сакәым, ақыҭа зегьы ус иазаҳаԥхьаӡоит ҳәа дас-ны дрымҵаирҽхәеит.

Иҭабуп, ухала уааны абас ахьҳауҳәаз. Уара уеиԥш еиҳабык ипанаҵаҟа аус зуа дирҽхәо иахьада дҳамбацызт. Алиас иӡбахә бзианы иҳаҳауеижьҭеи акрааҵуеит. Уара уҭыԥ аҿы иара иааныжьреи иа-анмыжьреи агәаанагарқәа маҷымкәа иҟан. Ҳара изықәкны иҳамаз уара угәы иҭазаарын. Али-ас Ахаҳәба иахьа уажәраанӡа маҵура имаӡамкәа даанханы дахьыҟоу иашаӡам, иахьа уи иеиԥш иҟоу ацқьақәа роуп иаҳҭаху. Аҽаџьара даагаӡом. Иқыҭажәлар дырҭахуп. Иқыҭа гәакьа еиҳабыс дҟаҳҵоит. Уара узусҭоу бзианы иаадыруеит, ухы уақәиҭаҳтәуеит ҳәа иарҳәеит.

Page 353: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

353

Абри ашьҭахь Баҭаҟәа аҟәараан иаҳәҿыԥраазшәа, иҟаиҵара изымдыруа, ииҳәара изымдыруа, даан-хеит. Убасҟаноуп ианидырыз Алиас днаиҵаланы иааиҭахыз зегьы шилаигӡоз.

Амза ӡысаамҭан, игәыԥҵәагаха акәын ишыҟаз, аха уи аҽны амш бзиахеит. Ажәҩан азхара «аҽакәабазшәа»ицқьаӡа иааԥшит, шьыжьымҭан амра гылеит ихааӡа, игәы ҟаҵагаха.

Шьыжьымҭан инаркны ауаа еизо иалагеит рыхьӡырҳәага, Аԥсны Афырхаҵа Сафарбеи ибаҟа аадыртуан. Хәыҷи дуи аӡә даанымхеит, ашҭа иазым-куа еизеит.

Алиас Сафарбеи ихәыҷқәа дырԥылан иааигарц Аҟәаҟа дцаны дыҟан.

Абаҟа аартра аамҭа ааигәахо иалагеит. Зегь ԥшын уажәымзар-уажәы иаауеит ҳәа.

Даҭа адәахьала инимырԥшырц даҿын, аха ҩнуҵҟала агәҭынчымра иман, џьарак дзымгыло дықәыргьежьаауа даман. «Мап лкызар», раб дыҟам, иахьназго идсырбода лҳәазар... Ус ак ҟалеит, акәымзар асҟак аамҭа инзырхазеи ҳәа агәаҭеира дшаҿыз, Али-ас ахәыҷқәа иман ашҭа данааҭала, гәырӷьарахеит. Хәыҷгьы-дугьы напеинҟьарыла ирԥылеит. Даҭа усҟанҵәҟьа дшыҟалаз ҳәашьа амаӡам. Имаҭацәа (дзызгәаҟуаз) аниба, илаԥш рыдхалан, дгачамкны даанхеит. Убри аҟынӡа раб даныхәыҷызтәи иԥшра рыман.

«Анцәа урыцҳаишьеит, ухәышҭаара мыцәеит. Уҵыхәтәа мыӡит. Ари еиԥш уақәгәыӷуазма, уҽырӷәӷәа», – ҳәа игәы иҵанаҳәон.

Аибашьра ашьҭахь абри еиԥш амш гәырӷьахә рзы-ҟамлацызт Аҟәарашаа. Еиҳагьы илахҿыхрахон, анацәа зыхшара ҭахахьаз ргәырҩақәа амырҿыцуазҭгьы.

Page 354: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

354

Сафарбеи дзыԥсаз ала ихцәажәеит иҩызцәа. Ибаҟа ахтразы ихәыҷқәа Алиас иазыҟаиҵахьан, шәаб дышәсырбоит ҳәа. Ахәыҷқәа ҳаб даабоит ҳәа еибарыҩны инеины ақәыршә анаахырх, ахаҳә еиқәаҵәа даласаны дышгылаз рбеит. Ари ҳаб иакәӡам, хаҳәуп, даҳмацәажәаӡеит рҳәан, ран лышҟа иҩны ицеит.

Ари еиԥш збаз рыбжеиҳараҩык рыгәқәа арԥшааит, ргәы рҩақәа арҿыцит. Ирзымычҳаит, рылаӷырӡ рыз-нымкылт. Ахәыҷқәагьы ран лылаӷырӡқәа леиуа да-нырба, даргьы амхаҵәыуарц егьрыгмызт. Ҟәараса рыман ашҭа ианааҭала, ахәы ҷқәа ақьыпшәыпра иааҟәыҵын, ран иналыдҵын, Алиас иааидгылт.

Ари ҳара ҳҽы ами? Ҟәараса ами? Алахь ҿашоуп, аз-шьапык ақалԥад шкәакәа ашьоуп ҳәа ҳаумҳәахьази. Ишааиз еиԥш иаадырит. Ҳара ҳтәоуп, – рҳәан, аҽахьы иҩит.

Аа, абаақәа, ахәыҷқәа аҽы ааигәа инашәмышьҭын ҳәа иааибарҳәҳәеит здыруаз, атәымуаҩ ааигәа дшынанамышьҭуаз.

Алиас, шәхала ааигәа шәымнеин ҳәа дышрышьҭаз, дара неины аҽы иаадгылт, азныказы алақәа ырцәгьаны ирыхәаԥшит. Ахы аҟьара иалаге-ит. Ашьапқәа адгьыл иқәкшо, ахаԥыцқәа аарԥшны идырбо, иԥхасҵоит ҳәа иалагеит. Аха ахәыҷқәа уи иамаз ацәаҩа атәы абардыруаз, ахы ҳшьышьуеит ҳәа иалагеит, ахәда иаҵалеит. Шәанаџьалбеит, ҳала ишабо ахәыҷқәа ҳцәашьуеит. Шәаҵаҟьаны наҟ ашҭа иҭышәца ҳәа аӡәы зынӡа аҳәҳәара далагеит. Алиас ицәымыӷхан, дыҩны иҿынеихеит аҽы ааныскыло-ит ҳәа. Аха иара днеиаанӡа ахәыҷқәа ирыфҩышәо иалаган, изусҭцәоу адырызшәа, аҽеиқәнакит. Ашьапы ақәкшара иаҟәыҵит, алақәа хаахеит, ахаԥыцқәа сыцҳауеит ҳәа иаанарԥшхьаз, аҵәахит, алымҳацәқәа ақәнаԥсеит. Уинахыс, «шәара сара

Page 355: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

355

стәқәа шәоуп»ҳәа аҳәозшәа аҽармашьцеит, ахантә аахыс иадыруазшәа. Ахәыҷқәа рызхара ахы, ахәда аныршьшьы, иахьынҳалан иақәтәарц иалагеит, аҽамҟьеит. Имыԥеит.

...Аизара ашьҭахь Даҭа зегь ҭабуп ҳәа реиҳәеит. Имаҭацәа дрықәгәырӷьо, еиҽхьныртәалан, иман иҿынеихеит.

Ажәлар еимымпӡакәа џьарак игыланы, рылаԥш ахьын-ӡанаӡоз, Даҭа имаҭацәа дрықәгәырӷьо иманы дахьцоз лакәушәа ибо ирзыԥшуан.

Амра аԥсы шҭаз, Даҭа имаҭацәа иманы иҩны днеит. Аҽы аҿы ианкны, имаҭацәа ақәыртәаны ашҭа данынҭала раб дааигәалашәеит, дара дрықәлан раԥхьаӡакәны аҽы дақәтәаны ашҭа данҭеигалаз, заҟа деигәырӷьааз, ихала аҽы дақәтәо дахьалагаз, ухаҵахеит ҳәа аниеиҳәаз. Уи нахыс иҵааршәырахарц егьызгымыз игәы, имаҭацәа ҩыџьа ҽыла ашҭа ианааҭала, иҭаҵаахьаз игәы аԥхарра аҵалан иарӡыҭызшәа, иҟәандаӡа иааҟалеит.

– Ари ҳаҩноума? – рҳәеит, ашҭа ишҭалаз еиԥш еибар ҷыр ҷыруа.

– Шәабду дшәыкәыхшоуп, шәара ишәтәуп, – иҳәеит дгәырӷьаны. Аҽықәтәашьа шәҵеит. Шьҭа шәхацәахеит. Шәыҩны шәааит, шәҽыжәҵ, иҳәеит, раб ишиеиҳәалоз еиԥш. – Макьана ҳақәтәаз ҳара ҳаб иҽы ҳара иаҳтәыми. Ус ҳаиҳәахьеит ҳаб иҩыза Али-ас, – рҳәеит.

– Шәабду дшәыкәыхшоуп, шьҭарнахыс шәара ишәтәуп.

Ҳара иаҳтәуп рҳәацыԥхьаӡа, Даҭа иаҟара ицлазшәа игәы иабон.

Аҳәара хәыҷқәа ԥшӡа-ԥшӡаӡа еибарԥо, еихәмаруа ашҭа ишҭаз анырба, аҽы илбаан, еибарыҩны ирышьҭалеит, рыцыхәмарра иалагеит. Даара иргәаԥхеит. Аҳаскьынқәа хыҵәҵәаны ирҿаҳҵоит ҳәа

Page 356: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

356

иалагеит. «Аҳәарақәагьы ҳара ҳтәқәа рами»рҳәаанӡа, арҭгьы шәара ишәтәуп ҳәа реиҳәеит. Ала рбан, иҩны иашьҭалеит. Акәҷарақәа рбан, икны рыкәа иҭадыртәарц иалагеит. Ацгәы рбан, ишьҭыхны рыхәда иқәдыртәеит. Ашҭа зегьы ҭдырҭәааит, идырҿыхеит. Илашьцо ианалага, ахәыҷқәа ран, Свет-лана, сбыкәышоуп, аҩны ашә аартны быҩналан ала-шара ҳзаркы, ҳәа лаҳәан, ацаԥха лиҭеит. Уажәыҵәҟьа лҳәан, аҩны ашә днадгылан, аҷараҳәа иаалыртит. Алашара алыркит. Аҩынгьы ашҭагьы зегьы лашеит.

Ашәа рҳәеит, икәашеит, иагьгәырӷьаран, иагьгәырҩран уи аҽынтәи амш Аҟәарашаа рзы.

Аибашьра ашьҭахь абри аҽнынӡа еибамба-цыз заҟаҩы ыҟадаз. Амра аҭашәара иалагаанӡа изеиԥырҵуамызт. Заҟаҩы заҟа еибыҳәатә рымааз... Зегь анца ашьҭахьгьы акыраамҭа рҽааныркылт Са-фарбеии Алиаси ашкол ирыцалгақәаз. Актәи акласс инаркны зегьы ргәала дыршәон. Алиаси Шьазинеи зны-зынла рылаԥшқәа ааиқәшәалон, аха иаразнак еиҟәыргон.

Ицо ианалага, зегьы еицны инеины, Сафар-беи ибаҟа иеихырхәаны, иԥсы ҭоушәа абзиала ҳәа иаҳәаны ицеит.

Зегьы цеит, Алиаси Шьазинеи рыда. «Макьа-на шәааԥшы, сызхара шәызбап, нас шәеиццап шәҩыџьагьы»ҳәа реиҳәозшәа, акыр аамҭа абаҟа изадҵуамызт. Аҵыхәтәан, Шьазина Алиас дааидгы-лан, уахагьы џьара мҩахыҵтәыс иумуома, лҳәеит. Игәалалыршәеит, абжьаратәи ашкол ианалгаз, ек-скурсиа ҳәа Риҵаҟа изымцакәа ианыхынҳәыз аҽны, ҳаимҩалацәоуп, ҳаиццап ҳәа аниалҳәа, – ҳамҩақәа хаз-хазуп ҳәа аҭак анлиҭаз. Иахьылхамышҭыц уамашәа ибаны даныналҿаԥш, лыблақәа ирхибааит, усҟан ицәырҟьаз абзиабара уажәыгьы ихымҵӡакәа ишхыз. Ишырҳәо еиԥш, абзиабара ҳәҳәо иааӡом,

Page 357: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

357

ушымгәыӷӡо иаахәыҵҟьаны угәы акуеит. Усҟан машәыршәа рмахәарқәа ахьааидкьыслаз, амцабз еиԥш рцәеи ржьи иалҟьаз роуразоуроу иааимнадеит. Уиаахыс маҷ аамҭа цахьоума, аибашьра, агәырҩа, ахарзаман зегь ахнагахьеит, аха усҟан ихәыҵҟьаз рыбзиеибабара ргәы аҵа иҭымҵуа иаанхеит.

Уахеиԥш еицәажәаратәы, ргәы иҭоу еибыр-ҳәаратәы аамҭа рмоуцызт, уаха ианроугьы, игәаӷьны ирзеибы-ҳәомызт. «Ухаҵами, аԥхьа алагара зыхәҭоу уара уоуп, уалага»ҳәа ишьҭахьҟала мчык игәҭасуашәа ибон. Изгәаӷьуеит, иласҳәоит лыда сышхәарҭам ҳәа иҿы ааихихырц данналагоз аамҭазы, «Сафарбеи иакәызҭгьы ус ҟаиҵарызу? Иҽыҵәҟьа иунардырит. Шьазина бзиа дшубо, лыда ушхәарҭам лоуҳәарц лыҩны уахьнеиз иҟанаҵаз узгәамҭаӡеи? Сафарбеии уареи ԥсык еицышәхоуп», ҳәа аҽа мчык иаԥхьаҟала иҿагыланы дааннакылон.

Шьазинагьы лгәы ҭыҵны ицон, уахгьы-ҽынгьы иара иакәын дзызхәыцуаз. Москва дычмазаҩны данышьҭаз ихьрызеишь, исаҳарызеишь ҳәа дгәаҟуан. Сандра дцаны дбаны даацыԥхьаӡа дахьыҟазаалакгьы дыԥшааны диазҵаауан, дышԥаҟоу, деиӷьхахьоума, ҳәа.

«Дхынҳәны данааи, сгәырӷьеит. Уажәымзар-уажәы данбаауеи ҳәа сизыԥшын. Сшизыԥшыз, да-аит, агәашә данааҭала, сдунеи лашазшәа збеит. Днатәашәа иун, дәыԥсшәак неиҳәан, дҩагыланы дцеит. Цәгьала ихьаазгеит».

Абарҭқәа зегьы ишрызхәыцуаз, рымҩақәа ахьеихысуаз рызгәамҭаӡакәа ишцоз, Шьази-на дшьацәхныслеит. Дкаҳаргьы ҟалон, иаразнак даанимкылазҭгьы. Бымшәан, соуԥшәыл, иҳәан, дааигәыдиҳәҳәалеит.

Шьазина заҟа ҵуааз дазыԥшызижьҭеи иара иҟынтәи, абри еиԥш ажәа хаа. Аибашьра аабжьа-

Page 358: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

леит, арыцҳара ҟалеит. Акырынтә аԥсреи абзареи ирыбжьагылан. Иҟалап, арҭ абзиабара иахьчазар, еиқәнархазар. Ргәаҵаҿы иҭаҳәҳәаны ишрымаз иаа-нхеит. Уаха илаҳаит уи уахгьы ҽынгьы дыззыԥшыз ажәа «бара, соуԥшәыл». Шьазина дзымԥрит, уаҳа егьаалыгымхеит, ажәала аҭак илымҭеит. Иара дыԥшын илҳәарызешь ҳәа игәы ҭыԥа-ҭыԥо. Лара, ажәада, ашьшьыҳәа лхы игәы инадылҵеит.

Аҵх уамашәа ибзиан, икаххаа иҟан, ажәҩан кеикеиуа ицқьан. Амза аҭәымҭаз акәын, гәыр-ҭәыла ирыхәаԥшуан еиҿгәыҳәаауа еидгылаз, иаа-рыкәыршаны ҭынчран, дара ргәеисыбжьқәа рыда аҽа бжьык раҳауамызт.

Page 359: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

ШЬАЛОДИА МИХАИЛ-ИԤА АЏЬЫНЏЬАЛ

ШАҞА ЕИЦӘЫХАРАХОЗ АҞАРА ЕИЗААИГӘАХОН

Ароман

ШАЛОДИА МИХАЙЛОВИЧ АДЖИНДЖАЛ

ЧЕМ ДАЛЬШЕ, ТЕМ БЛИЖЕ

Роман

На абхазском языке

Page 360: apsnyteka.orgapsnyteka.org/file/Adzhindzhal_Sh_Chem_dalshe_tem_blizhe_2015.pdfББК 84(5Абх) 6-44 А 99 Аџьынџьал, Шь. М. А 99 Шаҟа еицәыхарахоз аҟара

Аредактор Сергеи КәыҵниаАкорректор Ирма Џьениа

Асахьаҭыхҩы Руслан ГаблиаКомпиутерла иеиқәлыршәеит

Асҭанда Аџьынџьал

Аформат 84х108 1/32. Атираж 500. Иҟаҵә. акь. бӷь. 11,25. Инықә. акь. бӷь. 19.

Аҿаҵаԥҟа №